content
stringlengths
209
722k
warc-target-uri
stringlengths
13
1.95k
warc-date
stringlengths
20
20
warc-record-id
stringlengths
47
47
quality-warnings
sequencelengths
0
5
categories
sequencelengths
0
4
identification-language
stringclasses
64 values
identification-prob
float64
0.27
1
identification-consistency
float64
0.6
1
script-percentage
float64
0.9
1
num-sents
int64
1
4.28k
content-length
int64
225
1.03M
tlsh
stringlengths
145
145
Иракли Кобахиӡе - Ацҳаражәҳәарақәа зегьы аполиткиатә партиақәа рахь ааҧхьара ҟарҵароуп апарламент аусура аиқәыршәаразы аҭакҧхықәра рхы адырҵарц - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Иракли Кобахиӡе - Ацҳаражәҳәарақәа зегьы аполиткиатә партиақәа рахь ааҧхьара ҟарҵароуп ап... Иҵегь аҭагалара Иракли Кобахиӡе - Ацҳаражәҳәарақәа зегьы аполиткиатә партиақәа рахь ааҧхьара ҟарҵароуп апарламент аусура аиқәыршәаразы аҭакҧхықәра рхы адырҵарц 13:10, 08.11.2020 «Жәларбжьаратәи ҳпартниорцәа аоппозициа рахь ааҧхьара ҟарҵеит дара аизара ахақәиҭра инақәыршәаны, акоронавирус иадҳәалоу арегулиациақәа иазҧхьагәаҭаны, аҭынчратә формала рхы мҩаҧыргарц, ари ааҧхьара аҵакы ду амоуп», — иҳәеит апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы — Адемократиатә Қырҭтәыла» анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Иракли Кобахиӡе апартиа аофис аҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы. Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәареи Евроеидгыла ахаҭарнакреи иҟарҵаз аҳәамҭақәа дрыхцәажәеит. «Жәларбжьаратәи ҳпартниорцәа аоппозициа рахь ааҧхьара ҟарҵеит дара аизара ахақәиҭра инақәыршәаны, акоронавирус иадҳәалоу арегулиациақәа иазҧхьагәаҭаны, аҭынчратә формала рхы мҩаҧыргарц, ари ааҧхьра аҵакы ду амоуп. Иара убас, ацҳаражәҳәарақәа зегьы аполиткиатә партиақәа рахь ааҧхьара ҟарҵароуп апарламент аусура аиқәыршәаразы аҭакҧхықәра рхы адарҵарц, уигьы аҵакы ду амоуп. Ҳара ҳганахьала, аизара азин амҩаҧгареи алхрақәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа зегьы ҭынч реилыргареи ҳазыхиоуп», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе. Алхрақәа 2020 АПОЛИТИКА İrakli Kobaxidze Қырҭтәыла апарламенттә алхрақәа 1 Еиҧшу Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Италиатәи ареспублика ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Израиль ацҳаражәҳәаҩ Ҳадас Меицад дылҧылеит Франциа аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе амаҵзураҭыҧ ҿыц аанкылара идиныҳәалеит Иракли Кобахиӡе Швеицариатәи аконфедерациа ацҳаражәҳәаҩ дылԥылеит Иракли Кобахиӡе Павел Герчински диԥылеит Китаитәи ареспублика Қырҭтәыла атәылауаа рзы авизадатә режим шьақәнаргылеит Иракли Кобахиӡе - Ареспубликатә хәшәтәырҭа ареорганизациа аанкылахоит, иашьашәалоу азинтә докумнт аус адулара ҳалагахьеит Иракли Кобахиӡе - Бриуссель гәык ала ҳзыҟазаара аарԥшын, Жозеп Боррель ассоцирра ахеилак зеиԥшҟамлац ала иҳараку ахәшьара аиҭеит
https://1tv.ge/lang/ab/news/irakli-kobaxidze-atcharazhharaqa-zeg%D1%8Cm-apolitkiat-partiaqa-rax%D1%8C-aaphx%D1%8Cara-kharcarowp-aparlament-awswra-aiqmrsharaz/
2024-02-29T18:49:38Z
<urn:uuid:62d18d76-2beb-4450-a51a-e220fd735c15>
[ "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.77
0.95
31
4,279
tlsh:T1A61051916800CF67D673C05487A18B326CC07856C7617134DEDDB8706648069EABCD12EABAF45A4EB0D71812D1B2BF12620AFCEA297DBAE7615640A01D3F34DD2B6532C6EE
Амикроско́п[1] (абырзен бызшәахьтә иаагоуп абырз. μικρός «микро» – ахәыҷӡа аанагоит + σκοπέω «скопиа» – ахәаԥшра) Аҭоурых[аредакциазура | акод аредакциазура] Зыԥсы ҭоу ацәеижь аԥсҭазаашьа аилкааразы адәахьала ахәаԥшра мацара азхом. Ибатәуп, еилкаатәуп уи аҩныҵҟа злы- ху ацәеижьхәҭақәа шеиҿартәу, аус шыруа. Ауаҩы ибла еилкаа- ны иабоит иҟәазу амаҭәарқәа. Ацәеижь злыху амаҭәашьарқәеи ахацқәеи убысҟак иссоуп, ардугала уахәамԥшыкәа иубом. Аҵиаақәеи аԥстәқәеи рцәеижьқәа рыхәаԥшразы рхы иадырхәоит алупеи амикроскопи. Алупа захьӡу ардуга маҭәар ихәыцит Афанасии Кирхер XVII ашәышықәса алагамҭазы. Уи шьақәгылоуп ҩ-хәҭакны. Изхәаԥшуа, ирдуны ирбарц ирҭаху амаҭәар иақәыркуа, зыҩганк ылгәыгәу асаркьалых алинза иамоуп излаукыша амаа. Алупақәа ыҟоуп ихәыҷуи, идуи. Урҭ ирылшоит ардура 2-нтә инаркны 300-нтә рҟынӡа. Лупала акы иахәаԥшуа амаа кны асаркьа далԥшуа иазааигәеитәуеит дызхәаԥшырц ииҭаху амаҭәар цқьа ибо иҟалаанӡа. Алашаратә микроскоп захьӡу ардуга маҭәар алшарақәа еиҳауп. Уи иалшоит 3600-нтә рҟынӡа ардура. Иҟоуп аелектронтә микроскопқәа жәанызқьла азырҳара зылшо. Урҭ хархәара рзыруеит аҭҵааратә лабораториа дуқәа рҿы. Амикроскопқәа рыҟаҵашьа ауаа ирдыруеит XVII ашәышықәса аахыс. Усҟан зегьы иреиӷьуп ҳәа ирыԥхьаӡон Голландиатәи аҟаза Антони ван Левенгук иҟаҵамҭа. 1665 шықәсазы англыз ҵарауаҩ Роберт Гук микроскопла зегьы раԥхьаӡа акәны дахәаԥшит апробкаҵла ацәа. Уи уаҟа иибаз аҿаԥарақәа ибеит микроскопла данахәаԥш амҵырбӷьы агәыцә аҿгьы. Ашьҭахь уи дрыхәаԥшуан аҷых (морковь), ауапа- лашьшьы, аҭырас убас иҵегьы акыр аҵиаақәа рыҩныҵҟатәи ргәыцәқәа. Иибоз асахьақәа акырџьара еиԥшын. Ақьырмыт хәыҷқәа реиԥш еиваԥсаны иибоз ацыра иахьӡиҵеит цитос – аԥсышәала уи иахьӡуп ахац (урысшәала – клетка). Аҵиаақәа адәахьала еиԥшӡам, аха рызегьы излыху излашьақәгылоу ахацқәа рыла ауп. Ахац зхала аҟазаара зылшо, зхала ау- сура зылшо, зыԥсы ҭоу, ацәеижь злашьақәгылоу, иреиҵоу цәеижьхәҭоуп. Уи иамоуп ахатәы еиҿкаашьа. Амикроскоп ала ахац аиҿартәышьа аҵара еиҳа имариоуп. Уи ирдуны иунарбоит ауаҩы ила иазгәамҭо ахац аформеи ишеиҿартәуи. Амикроскоп аиҿартәышьа[аредакциазура | акод аредакциазура] Амикроскоп ахәҭақәа зегьы еидызкыло амаа (аштатив). Атубус, аокулиар, аобиектив. Иаазыхәхәоу, зыҩныҵҟа ардуга линзақәа зҭоу атрубка иахьӡуп атубус. Хыхьтәи аҭаԥ- шырҭа иахьӡуп аокулиар. Атубус ҵаҟатәи анҵәамҭаҿы иаҿарҵо, зыԥсахра ауа атрубка хәыҷы иахьӡуп аобиектив. Амаҭәарқәҵарҭа. Изхәаԥшырц ирҭаху амаҭәар ықәҵаны ахьдырҟацо. Изхәаԥшырц ирҭаху амаҭәар иҵаӷаӡаны иԥҟаны асаркьа кеикеи хәыҷы ақәырҷабны заа идырхиоит. Асаркьа. Алашара зынҷҷаланы, изхәаԥшуа амаҭәар ҵаҟантәи изырлашо. Архиага бруқәа. Руакы – еиҳау – инықәырԥшны иазааигәазтәуа, аҩбатәи – еиҵоу – икылкааны иақәзырхио. Амикроскоп лашарада акгьы унарбаӡом. Убри азы алашаратә микроскоп ҳәа азырҳәоит. Амикроскопқәа рыла изхәаԥшуа амаҭәар ҵаӷазароуп алашара алсыртә еиԥш. Амаҭәар ахәҭақәа зегьы еилыхха иубо иҟаларц азы шәыгала иршәуеит. Ус иҟаҵоу амаҭәар иахьӡуп апрепарат. Уи заа алабораториақәа рҿы идырхиоит, нас ашколқәа рахьгьы инаргоит, кыраамҭа рхы иадырхәоит. Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура] П. К. Кәыҵниа, «Аҵиаақәа, абактериақәа, акәыкәбаақәа рбиологиа», Аҟәа – 2011 Ахьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура] ↑ Касланӡиа В. А. (аред. Џьонуа Б. Гь.), «Аԥсуа-аурыс жәар», Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа, Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет, Аҟәа, 2005 Ахыҵхырҭа – https://ab.wikipedia.org/w/index.php?title=Амикроскоп&oldid=110668 Акатегориақәа: Абиологиа Аоптика Ацыхәтәантәи аԥсахрақәа абри адаҟьа аҟны: 08:28, 6 мшаԥымза 2021. Атекст ахьыманшәалоу Creative Commons Attribution-ShareAlike алицензиала иҟоуп; ахарҭәааратә ԥҟарақәа рылша рныруеит. Шәахә. Инарҭбааны шәахә. убас Ахархәаразы аԥҟарақәа.
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%BC%D0%B8%D0%BA%D1%80%D0%BE%D1%81%D0%BA%D0%BE%D0%BF
2024-02-22T07:11:30Z
<urn:uuid:95bab3f3-1807-4b95-bea2-2f32bec5c986>
[ "footer", "short_sentences" ]
[ "liste_bu", "wikipedia" ]
abk-Cyrl
0.94
1
0.96
20
6,773
tlsh:T1EB0F63E18C40DB4FC6B3D0889B82893569E0690283237235CED9F4B56545059EAFCD03A6FAE85A8964EB1231D102FB10AA0EFDEA257D2BC730D210B57D6F35DE277477CA9E
Заур Ӷәаџьаа аинрал Аугусто Николаса Кальдерона Сандино иԥсҭазаара далҵижьҭеи 90-шықәса аҵра иазку аусмҩаԥгатәқәа ихы рылархәит Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа аинрал Аугусто Николаса Кальдерона Сандино иԥсҭазаара далҵижьҭеи 90-шықәса аҵра азгәаҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа ихы рылархәит Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Ареспублика Никарагуа ацҳаражәҳәаҩ Даиси Торрес Боскес инаԥхьарала цәыббра 2024 шықәса жәабран 20 рзы. 21 February 2024 2 Ацҳаражәҳәарҭақәа иазкыу Мухаммад Алии Гассан Шоуреи реиԥылара мҩаԥысит Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы. Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿ иҟоу Аԥсны азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Алии Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿ иҟоу ачерқьестә гәыҳалалратә ассоциациа адиректорцәа Рхеилак ахантәаҩы Гассан Шоуреи реиԥылара мҩаԥысит Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы. 19 February 2024 9 Авизитқәеи аусутә ныҟәарақәеи рзы аинформациа Лаша Аҩӡбеи Алексеи Климови реиԥылара мҩаԥысит 2024 шықәса жәабран 19 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аконсултә департамент аиҳабы Лаша Аҩӡбеи Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аконсултә департамент адиректор Алексеи Климови реиԥылара м ҩаԥысит. 15 February 2024 26 Ацҳаражәҳәарҭақәа иазкыу Заур Ӷәаџьаа ихы алаирхәит ацәыргақәҵа «Венесуела 20-тәи ашәышықәса иаҵанакуа аурыс ҟазара» аартра ацеремониа 2024 шықәса жәабран 15 азы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу аҷыдалкаатә зинмчнагӡа змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа ихы алаирхәит ацәыргақәҵа «Венесуела 20-тәи ашәышықәса иаҵанакуа аурыс ҟазара» аартра ацеремониа Венесуела иҟоу Урыстәла аҷыдалкаатә зинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Мелик-Багдасаров инаԥхьарала. 14 February 2024 36 Авизитқәеи аусутә ныҟәарақәеи рзы аинформациа Инал Арӡынбеи аекономика Иреиҳаӡоу ашкол астудентцәеи еиԥылеит 2024 шықәса жәабран 14 рзы НИУ ВШЕ аректор Никита Анисимов иҟаиҵаз анаԥхьарала Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба дырԥылеит аекономика Иреиҳаӡоу ашкол астудентцәа, астуденттә ԥхьагылаҩцәа рыплатформа «ГосВышка» алахәылацәа. 14 February 2024 40 Авизитқәеи аусутә ныҟәарақәеи рзы аинформациа Инал Арӡынбеи Сергеи Риабикови Москва реиԥылара мҩаԥысит Жәабран 14 рзы, усутә ныҟәарыла Москваҟа амҩа дықәлеит Инал Арӡынба. 10 February 2024 31 Анотақәа Инал Арӡынба Адипломатиатә усзуҩы имш инадҳәаланы Сергеи Лавров адныҳәалара изынаишьҭит Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Инал Арӡынба Адипломатиатә усзуҩы имш инадҳәаланы Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Сергеи Лавров адныҳәалара изынаишьҭит. 5 February 2024 80 Инар Ладариа Боливариантәи Ареспублика Венесуела Ацҳаражәҳәарҭа даҭааит 2024 шықәса жәабран 2 азы Ареспублика Никарагуа иҟоу аҷыдалкаатәи азинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Ареспублика Никарагуа иҟоу аҷыдалкаатәи азинмчы змоу Боливариантәи Ареспублика Венесуела ацҳаражәҳәаҩ Хосе Арруе инаԥхьарала даҭааит ареспублика Ацҳаражәҳәарҭа Боливариантәи Ареволюциа 25 шықәса ахыҵра амш азы. 5 February 2024 43 Ацҳаражәҳәарҭақәа иазкыу Мухаммад Али Башар Аль-Асад агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит Шьамтәыла иҟоу азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Али Шьамтәылатәи Арабтә республика ахада Башар Аль-Асад агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит. 5 February 2024 39 Инал Аӡынба адныҳәалара ҟаиҵеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Шьамтәылатәи Арабтә республика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә инхо аџьынџьуаа рызҵаарақәеи рминистр Феисал Микдад 70 шықәса ихыҵра амш идиныҳәалеит.
http://mfaapsny.org/allnews/news/notes/daur-kove-pozdravil-vitaliya-ignateva-s-31-oy-godovshchinoy-so-dnya-obrazovaniya-pmr
2024-02-25T07:36:12Z
<urn:uuid:45bedb52-a43b-4444-a98d-91aa72c1646c>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.97
0.93
0.97
28
6,335
tlsh:T1C95F75D1A004DB4BD9B3C0484992CE359DC094A39320B631CEC5B9B06B0618DD7BCD13A5F1AC168F349F0261D693AF055B4AFDFA29BD7BC3209A00653E2F34EA278476955F
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит Аҧсны асоциалтә-економикатә ҿиара ацхыраара аҭаразы Аинвестициатә программа асиа иалаҵоу аобиектқәа рыргыларатә усурақәа лассы рхыркәашара азҵаарақәа ирызкыз аусуратә еилацәажәара. 12.03.2015 Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Аконституциа ахәҭаҷ 45 инақәыршәаны Аҧсны Жәлар Реизарахь ирхынҳәит жәабран 25, 2015ш. ирыдыркылаз «Атәылауаҩра аҭагылазаашьа иазку Актқәа рзы» Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Аконституциа ахәҭаҷ 45 инақәыршәаны Аҧсны Жәлар Реизарахь ирхынҳәит жәабран 25, 2015ш. ирыдыркылаз «Атәылауаҩра аҭагылазаашьа иазку Актқәа рзы» 11.03.2015 Адәныҟатәи аполитика ҳәоуеиқәшәарала амҩаҧгара алыршара иазку аусмҩаҧгатәқәа рзы Амеморандум анапаҵаҩразы ахцәажәарақәа Хәажәкыра 11 Москва Аҧсни Урыстәылеи адәныҟатәи русқәа рзы аминистрцәа Виачеслав Чрыгбеи Сергеи Лаврови ҳәоуеиқәшәарала Адәныҟатәи аполитика амҩаҧгара алыршара иазку аусмҩаҧгатәқәа рзы Амеморандум рнапы аҵарҩит. 03.03.2015 Ишьақәырҕәҕәоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра асоциалтә-економикатә ҿиара астратегиа 2025 шықәсанӡа Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит «Аҧсны Аҳәынҭқарра асоциалтә-економикатә ҿиара астратегиа 2025 шықәсанӡа ашьақәырҕәҕәаразы» Аусҧҟа. 23.02.2015 Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсни Урыстәылеи жәлар рартист Хьыбла Герзмааҧҳа лҧылара иазку АИХ рзы ацҳамҭа Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба иналукааша аоператә шәаҳәаҩы, Аҧсни Урыстәылеи жәлар рартист Хьыбла Герзмааҧҳа дылҧылеит 20.02.2015 Аҧсны Ахадеи Москва инхо аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәеи реиҧылара иазку АИХ рзы ацҳамҭа Жәабран 20, 2015 шықәса, Аҟәа. Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба дырҧылеит Москва инхо аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа –анаплакыҩцәа, абизнесуаа. 19.02.2015 Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҟәа араион ауаажәларра рхаҭарнкцәа рҧылара иазку АИХ рзы ацҳамҭа Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҟәа араион актив дырҧылеит 18.02.2015 Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Мушьни Лашәриа иҧылара иазку Хәажәкыра 18, 2015ш., Аҟәа. Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба иеицырдыруа аҧсуа поет, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, академик Мушьни Лашәриа диҧылеит. 18.02.2015 Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигаз аилацәажәара иазку АИХ рзы ацҳамҭа Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны абанк аҿы аиҭакрақәа ирызкыз аилацәажәара мҩаҧигеит 18.02.2015 Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ақыҭанхамҩа азҵаарақәа ирыдҳәаланы имҩаҧигаз аилацәажәара иазку АИХ рзы ацҳамҭа Ахада Иусбарҭа. Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ақыҭанхамҩа азҵаарақәа ирызкыз аилацәажәара мҩаҧигеит. 16.02.2015 Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада ицхырааҩ Владиславом Суркови реиҧылара иазку аинформациатә цҳамҭа Аҟәа. Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба дырҧылеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада ицхырааҩ Владиславом Сурков напхгара ззиуаз аделегациа 13.02.2015 Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигаз аилацәажәара иазку АИХ азы ацҳамҭа Ахада Иусбарҭа. Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит ашәахтә система аиҭакреи аиҕьтәреи ирызкыз аилацәажәара. 19.01.2015 Аҧсны Ахада Иусҧҟа Аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азҵаарақәа рзы Ахада идҵала Ҭали Шьалико-иҧҳа Џьапуаҧҳа даҭоуп Аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азҵаарақәа рзы Аҧсны Ахада ицхырааҩыс. 23.12.2014 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Аҧсны жәлар рартист Алиса Гыцҧҳаи реиҧылара иазку АИХ азы ацҳамҭа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба дидикылеит Москватәи амузыкатә театр «Геликон-Опера» асолист, Аҧсны жәлар рартист, Урыстәыла зҽаҧсазтәыз артист Алиса Гыцҧҳа 16.12.2014 Рауль Ҳаџьымба далахәын Арсени Константин-иҧа Ҳашба игәалашәара иазкыз аконференциа Аконференциа мҩаҧысуан Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт аконференц-зал аҟны, иагьазкын иналукааша абызшәадырҩы, аҧсуаҭҵааҩы, Аҧснытәи атәылаҿацәҭҵаара аинститут актәи адиректор Арсени Ҳашба110 шықәсаихыҵра. 03.12.2014 Рауль Ҳаџьымба дырҭааит Аҧсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә Шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаа аусбарҭа аобиектқәа Гал араион аҟны Апрограмма актәи апункт ала иахәаҧшын аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра Агәаҭаратә Аужьратә Пункт «Егры». ААП аиҳабы Рауль Ҳаџьымба иҟынӡа инаигеит иҟоу аҭагылазаашьа, Аҧсны аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра аицгәаҭара аиҿкаареи амҩаҧгареи шымҩаҧысуа ртәы. 21.11.2014 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Женеватәи аиҿцәажәарақәа реицхантәаҩцәеи реиҧылара иазку Аҟәа. Имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Нхыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа реицхантәаҩцәа 12.11.2014 ЗҲӘА “НХЫҴКАВРЕНТГЕН-Д” анапхгара аҧылара Рауль Ҳаџьымба идикылеит Ҟабарда-Балкариатәи Ареспубликаҟнытә арентгентә мыруга еилахәыра-аҭыжьҩцәа рхаҭарнакцәа – ЗҲӘА «Нхыҵкаврентген-Д» адиректор хада Бетал Хуштови ари аилахәыра адиректорцәа рхеилак ахантәаҩы Роман Пономаренкои. 08.06.2014 Аконституциатә реформазы акомиссиа аилатәара Рауль Ҳаџьымба хантәаҩра азиуан ажьырныҳәа 22, 2015 шықәсазы Аҧсны Ахада Иусҧҟала иаҧҵаз Аконституциатә реформазы акомиссиа аилатәара. Ахада иажәалагалаҟны иазгәеиҭеит: 21.05.2014 Аҧсны Ахада иҟны ицәыргоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа арҽеира алагаларазы аконституциатә закәан апроект Аконституциатә реформа актәи аамҭахҵәаха аҳәаа иҭагӡаны Валери Агрба хантәаҩра ззиуа аусуратә гәыҧ Аҧсны Ахада иҟны ицәырнагеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа арҽеира алагаларазы “Аҧсны жәлар Реизара ахыҧхьаӡаратә шьақәгылашьазы” аконституциатә закәан апроект
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/2360?print=Y&PAGEN_1=148
2024-02-29T07:27:58Z
<urn:uuid:df085ac1-b3ee-4fe5-bf1a-8046c65d0bc9>
[ "footer", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.97
0.95
1
41
9,438
tlsh:T19EBED4128A40CF4BD0F7C469CF91AB319DD1989B0261B671CDC8F0F01742189EBFCD13ADEAD81A8AA4FB1511E162BF01690AFDE526BDAE97311504A43E3F78D9369476C19E
2008 шықәсатәи аибашьра иадҳәаланы иалаҵаз ашшырҧхьыӡ азы Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи аӡбарҭа Урыстәыла иаднаҵеит акомпенсациа асахьала Қырҭтәыла 129 млн. евро азшәара. Страсбургтәи аӡбарҭа аофициалтә информациа ишану ала, Урыстәыла, хымз рыҩныҵҟала, Қырҭтәыла акомпенсациа азнашәароуп 2008 шықәсазы Қырҭтәыла ажәылара амшала атәыла иаиуз азарал азыҳәан. Аӡбарҭа ақәҵара инақәыршәаны, 2022 шықәсазы Урыстыла Европа Ахеилак ишалырхызгьы, аӡбарҭа акомпенсациа иазку Қырҭтәыла аҳәара ахәаҧшра азин амоуп. Страсбургтәи аӡбарҭа ақәҵарала, Урыстәыла хымз ирылагӡаны, Қырҭтәыла азнашәароуп 3,25 млн евро акомпенсациа Аахыҵ Уаҧстәыла ақырҭуа қыҭақәеи абуфертә зонеи рҿы 50ҩык ауаажәларратә хаҿқәа рҭахара иадҳәаланы. Иара убас, Урыстәыла Қырҭтәыла акомпенсациа азнашәароуп 166ҩык ақырҭуаа закәандарала раанкылареи, гәымбылџьбарала рызныҟәареи, ақырҭуа аруаа рыргәаҟреи азыҳәан. Егьырҭ ацәгьаурақәа зегьы иазҧхьагәҭаны, зынӡа Урыстәыла Қырҭтәыла азнашәароуп 129,8 млн евро. АПОЛИТИКА 2008 шықәсатәи аибашьра aкомпенсaциa ҚЫРҬТӘЫЛА Стрaсбургтәи aӡбaрҭa Урыстәыла 5 Еиҧшу Приднестровие ахаҧшьгаратә напхгара „Адепутатцәа реизара ду“ еиҿыркаауеит, уи аан Путин иахь аҳәара ҟарҵар ҟалап Приднестровие Урыстәыла аилазаарашҟа идикыларц Урыстәылатәи мчқәа Одесса абомбақәа аларыжьрит, аҭынч тәылауаҩык дҭахеит Қырҭтәылеи Кореиатәи Ареспубликеи рыбжьара аекономикатә партниорра иазку аиҿцәажәара актәи араунд иалагеит Питер Сииарто - Қырҭтәыла шықәсқәа раԥхьа ақәнаган Евроеидгыла алалара Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра - Аурысцәа Аԥсныҟа рнеира ишәарҭоуп Урыстәыла, Белогородтәи аобласт агубернатор ишааицҳаз, ақалақь аганахьала имҩаԥгаз аракетатә жәылараан хәҩык ҭахеит Урыстәылаҿ Естониа аԥыза-министр лганахьала аусԥшаара хацыркуп World of Statistics астатистика инақәыршәаны, атуристцәа уахынла ишәарҭамкәа аныҟәара ахьрылшо атәылақәа рыбжьара, Қырҭтәыла Европа аҵакыраҿ аԥшьбатәи аҭыԥ ааннакылеит Виктор Орбан иажәақәа рыла, 2008 шықәсазы Украинеи Қырҭтәылеи Натои Евроеидгылеи ралалара алшара рыман, аха ари ашанс рхы иадырхәарц ирылымшеит Украинатәи ашәарҭадаратә маҵзура Украина амаҵзура ҷыдақәа пасатәии иахьатәи аусзуҩцәа иалахәуз урыстәылатәи ашпионтә каҭа аанарԥшит Амш зеиҧшрахо 4° аҩ Қaрҭ Ах 6° аҧшь 9° Авалиута акурс $ USD 2.6562 0.004 € EUR 2.8820 0.006 ₽ RUB 0.028893 0.017 £ GBP 3.3686 0.006 TOP 5 Европатәи 20 тәыла рлидерцәа иахьа Париж, Украина азҵаара иахцәажәоит Роберт Фицо – НАТОи Евроеидгылеи Украинаҿ арбџьармчқәа рыргылара азҵаара иахәаҧшуеит Илиа Дарчиашвили – Агәра ганы ҳаҟоуп жәларбжьаратәи ауаажәларра рпозициа ҕәҕәа ахадаратә ҵакы шамоу Урыстәыла ахатә ҧхықәрақәа нагӡаны Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҟынтә ахатә бџьармчқәа алнагарц азыҳәан Атапанчала ахысразы Қырҭтәыла аизга Европа ачемпионс иҟалеит – #1TVSPORT Қырҭтәыла VS Сербиа Актәи аканал аҿы - итәу "Қарҭтәи аренаҿ" арекордсен Гьаргь Цинцаӡе амҵәышәмпыд аҟынтә днаскьаргоит #1TVSPORT
https://1tv.ge/lang/ab/news/strasbwrgti-adzbar%D2%ADa-wrmstmla-iadnaceit-akompensatcia-asax%D1%8Cala-qmr%D2%ADtmla-129-mln-evro-azshara/
2024-02-27T17:30:02Z
<urn:uuid:665eceb4-c4f2-4ee9-9b44-6f065451ffc7>
[ "footer", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.94
0.61
0.97
38
5,219
tlsh:T14281C2B16950DB4BC573C0289B918D3A2DC16D0B8615B260CEA6F8B1574904CEFFCD13A9EAEC094F60DB1622D161BF055A09ECDA19BDBBD7B11340B95E2E38E9339835C5EE
2023 шықәса ԥхынҷкәын 14 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҟны аусура иалагараны иҟоу жәларбжьаратәи аинформациатә проект ҿыц актәи аҭыжьымҭа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Шьамтәыла Ахада Башар Асади рыбжьара ателехәаԥшратә еиҿцәажәара мҩаԥысит. 14 December 2023 40 Аминистр имҩаԥиго аиԥыларақәа Инал Арӡынбеи Феисал Микдади аҩбатәи реиԥылара мҩаԥысит 2023 шықәса ԥхынҷкәынмза 14 рзы Дамаск ақалақь аҿы Шьамтәыла усуратә визитла иҟоу Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Шьамтәылатәи иколлега Феисал Микдади реиԥылара мҩаԥысит. 13 December 2023 134 Авизитқәеи аусутә ныҟәарақәеи рзы аинформациа Башар Асад Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба дидикылеит 2023 шықәса ԥхынҷкәын 13 рзы Шьамтәыла ахада Башар Асад Дамаск иҟоу ахан "Аль-Мухаджирин" аҟны дидикылеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба. 13 December 2023 83 Аминистр имҩаԥиго аиԥыларақәа Дамасктәи аиԥылара 2023 шықәса ԥхынҷкәын 11 рзы Дамаск, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Шьамтәылатәи Арабтә республикахь аусутә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿ инхо аԥсуа-абазеи ачерқьес диаспореи иара убасгьы ШьАР аҿы иҟоу ачерқьестә гәыҳалалратә ассоциациа адиректорцәа рхеилаки реиԥылара. 13 December 2023 111 Авизитқәеи аусутә ныҟәарақәеи рзы аинформациа Инал Арӡынбеи Шьамтәыла аԥыза-министр Хусеина Арнуси реиԥылара мҩаԥысит 2023 шықәса ԥхынҷкәын 12 рзы Дамаск еиԥылеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Шьамтәыла аԥыза-министр Хусеина Арнуси. 12 December 2023 110 Авизитқәеи аусутә ныҟәарақәеи рзы аинформациа Арӡынбеи Шьамтәыла иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩи Мрагылара иҟоу аҭагылазаашьа иалацәажәеит 2023 шықәса ԥхынҷкәын 12 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Шьамтәылатәи Арабтә республикаҟны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Александр Ефимови еиԥылеит. 12 December 2023 120 Авизитқәеи аусутә ныҟәарақәеи рзы аинформациа Инал Арӡынбеи Шьамтәылатәи иколлега Феисал Микдади реиԥылара Дамаск имҩаԥысит 2023 шықәса ԥхынҷкәын 12 рзы Аԥсны АдәА рминистр Инал Арӡынбеи Шьамтәылатәи иколлега Феисал Микдади рыбжьара алҵшәа змаз аиҿцәажәарақәа мҩаԥысит. 12 December 2023 70 Анотақәа Одиссеи Бигәаа Михаил Шургалин Урыстәыла Аконституциа амш идиныҳәалеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа амш азгәаҭара инамаданы Аԥсны иҟоу Урыстәыла азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Урыстәыла Аконституциа амш идиныҳәалеит. 12 December 2023 218 Анотақәа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәалара ҟанаҵеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа амш азгәаҭара инамаданы Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара нанашьҭит. 12 December 2023 71 Авизитқәеи аусутә ныҟәарақәеи рзы аинформациа Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Шьамтәыла даҭааит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Шьамтәылатәи Арабтә республика даҭааит жәларбжьаратәии аԥсны-шьамтәылатә еизыҟазаашьақәеи рызҵаарақәа рылацәажәаразы ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
http://mfaapsny.org/allnews/news/notes/daur-kove-pozdravil-vitaliya-ignateva-s-31-oy-godovshchinoy-so-dnya-obrazovaniya-pmr?PAGEN_1=4
2024-02-25T07:42:06Z
<urn:uuid:41e40de7-596b-48a9-8a8e-ec8b722479cb>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.89
0.91
0.97
23
5,588
tlsh:T1C713B0B15A48CA4BC573C0594992DC329DC0841B9260B671CFD5B6E03B4614DDBFCC13E6F568188F749F5A61EA826F056B4FFCE568BD7B92748204B42F2F24E927C4B6828F
Шьалуа Папуашвили - Евроеидгыла Қырҭтәыла ада акзаара амам, Қырҭтәыла - Евроеидгыла ада, ари иаку аҭоурыхтәи акультуратәи қәыԥшылароуп, ҳара ари ақәыԥшылара ҳатәуп - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Шьалуа Папуашвили - Евроеидгыла Қырҭтәыла ада акзаара амам, Қырҭтәыла - Евроеидгыла ада, а... Иҵегь аҭагалара Шьалуа Папуашвили - Евроеидгыла Қырҭтәыла ада акзаара амам, Қырҭтәыла - Евроеидгыла ада, ари иаку аҭоурыхтәи акультуратәи қәыԥшылароуп, ҳара ари ақәыԥшылара ҳатәуп 09:02, 05.12.2023 «Евроеидгыла Қырҭтәыла ада акзаара амам, Қырҭтәыла – Евроеидгыла ада, ари иаку аҭоурыхтәи акультуратәи қәыԥшылароуп, ҳара ари ақәыԥшылара ҳатәуп. Сгәы шаанаго ала, ари ақәыԥшылара аиҭашьақәыргылара акультуратә дипломатиа алшоит», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили апарламент акультура азы акомитет аконсультациатә хеилак есышықәсатәи аилатәараҿ данықәгылоз. «Ҳара, ҭоурыхла ишыҟаз еиԥш, Европа аҿиара апроцесс аҽалархәра ҳҭахуп. Евроеидгылаҿ аларҵәара змоу хнбанк аԥшьбатәи – ақырҭуа – ацаҳҵар ҳҭахуп, Евроеидгылаҿ излацәажәо 24 бызшәак, 25-тәи – ақырҭуа ацаҳҵар ҳҭахуп. Ҳара Евроеидгыла акультуратәи аиуристтә аҿиара аҽалахәра ҳҭахуп», — — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы. Ауснагӡатә рхы аладырхәит Қырҭтәыла апарламент адепутатцәе, адипкорпус ахаҭарнакцәеи, иааԥхьаз асасцәеи. АПОЛИТИКА Евроеидгыла Шьалуа Папуашвили 4 Еиҧшу Шьалуа Папуашвили - Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рдонорцәа ирароуп, атәылантә ҳдәылцреи, атәыла рхала анапхгараҭареи аума ирҭаху, аӡбарҭа аилазаашьа ашьақәырӷәӷәара атәым тәылақәа ирусым Шьалуа Папуашвили - Ахақәиҭреи ахьыԥшымреи разықәԥараҿ украинатәи жәлар рфырхаҵара иҿырԥшыгоуп, ари еиҟарам аибашьраҿ Қырҭтәыла Украина адгылоит Шьалуа Папуашвили - Адонорцәа рахь ааԥхьара ҟасҵоит, апартиақәа рфинасркра иадҳәалоу NGO ԥаршеиқәа раԥыхра иазкны, ақырҭуа партиақәа атәымтә ԥара анроуа, ари Қырҭтәыла асуверенитет еиланагоит Шьалуа Папуашвили - Аиункерцәа рҭоурых еснагь иҳгәаланаршәоит ақырҭуа милаҭ ампыҵахалара ахаан шақәшаҳаҭуам Шьалуа Папуашвили - Ҳԥыза-министр иеиԥш, актәи авизила Бриуссель саҭааит, Саакашвили раԥхьаӡатәи ивизитла Москва ддәықәлеит Шьалуа Папуашвили - Қырҭтәыла евроатлантикатә қәыԥшылараҿ аинтеграциазы алшо зегь ҟанаҵоит - абри ауп Бриуссель ашҟа ҳашьҭымҭа хада Шьалуа Папуашвили NDI алхратә жәларбжьаратә анаԥшратә миссиа ахаҭарнакцәа дырԥылеит Шьалуа Папуашвили - "Ақырҭуа гәахәтәы" алхрақәа рҿы аиааира шаго аӡәгьы агәыҩбара имам Шьалуа Папуашвили - Алхрақәа рҟынӡа алхрақәа рыцклаԥшра ма активрақәа рфинанскреи ирыдҳәалоу иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа русзура аргаматәра иазку ақәшаҳаҭра абжьаҵара ҳалшоит Шьалуа Папуашвили - Иракли Кобахиӡе изы ихадоу хәынаӡарас еснагь ауаҩы иакәын иҟаз, ари ԥсаххом, иара изы аԥсадгьыл аинтерес азыԥхьагәаҭара аӡбарақәа зегьы шьаҭас ирымоуп Амш зеиҧшрахо 4° аҩ Қaрҭ Ах 6° аҧшь 9° Авалиута акурс $ USD 2.6562 0.004 € EUR 2.8820 0.006 ₽ RUB 0.028893 0.017 £ GBP 3.3686 0.006 TOP 5 Европатәи 20 тәыла рлидерцәа иахьа Париж, Украина азҵаара иахцәажәоит Илиа Дарчиашвили – Агәра ганы ҳаҟоуп жәларбжьаратәи ауаажәларра рпозициа ҕәҕәа ахадаратә ҵакы шамоу Урыстәыла ахатә ҧхықәрақәа нагӡаны Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҟынтә ахатә бџьармчқәа алнагарц азыҳәан Атапанчала ахысразы Қырҭтәыла аизга Европа ачемпионс иҟалеит – #1TVSPORT Роберт Фицо – НАТОи Евроеидгылеи Украинаҿ арбџьармчқәа рыргылара азҵаара иахәаҧшуеит Қырҭтәыла VS Сербиа Актәи аканал аҿы - итәу "Қарҭтәи аренаҿ" арекордсен Гьаргь Цинцаӡе амҵәышәмпыд аҟынтә днаскьаргоит #1TVSPORT
https://1tv.ge/lang/ab/news/sh%D1%8Calwa-papwashvili-evroeidgmla-qmr%D2%ADtmla-ada-akzaara-amam-qmr%D2%ADtmla-evroeidgmla-ada-ari-iakw-a%D2%ADowrmxti-akwl%D1%8Ctwrati-qm%D4%A5sh/
2024-02-27T13:03:33Z
<urn:uuid:ffb93bfc-cf69-48d9-bbc9-940cca6e248f>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.94
0.61
0.95
51
6,558
tlsh:T16B00EED19B44DA0BC173C5998F908A367DD27907832272A0CED6F9711716099EFFDC13A9B5E8091E749B0421E522BB111A49FCE7697EBBDB614600E51D3F38EA33A872CA9D
Аслан Бжьаниа аҽыԥхьакрахь диасырц иӡбеит аҩаша, хәажәкырамза 14 рзы, игәамбзиара иахҟьаны. COVID-19 антиген азы Аҳәынҭқарра Ахада имҩаԥигаз експресс-тест иҵоуроу алҵшәа аанарԥшит. Иара убас аҿкы аҟазаара ашьақәырӷәӷәаразы имҩаԥган короновирустә ҿкы аҟазааразы алабораториатә ПЦР-тест. Ҳазҭагылоу аамҭазы алҵшәақәа рааира иазыԥшуп. Аҿкы аларҵәара алмыршаразы Ахада ииашоу алабораториатә тест алҵшәақәа ҟалаанӡа иӡбеит аҽыԥхьакрахь диасырц. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/15427/
2024-02-24T22:17:14Z
<urn:uuid:e5b12c13-2b35-4e1f-8a3f-ddc074e1c2c7>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.78
0.82
0.93
11
1,661
tlsh:T1E3F210317C40D78BD6F3C4D9DA415E3468D0284606227761CE8DF0B11242089FBFDD21EAEBE01D8F74E70121D466BE11AD0AECEA24BE9AD3304201E2781F7CDD279476C19F
Рауль Ҳаџьымба: Ҳаҭыр зқәу аколлегацәа! Иахьа ҳзеизаз аграртә ҟәша аҿиаразы имҩаҧаҳгаз аусура ҳалацәажәарц азоуп. Аҿиара амҩақәа еиеиуеиҧшымзаргьы ҟалоит. Аҵыхәтәантәи аамҭазы аҳәынҭқарра-хатәы усеицуразы, уи шымҩаҧысша, хырхарҭас иаиушас азы ирацәаны ҳалацәажәон. Убарҭ ахырхарҭақәа иреиуоуп урыстәылатәи Аинвестициатә гәыҧқәа рганахьала иҟоу алшарақәа, ахархәагақәа, урҭ, ишысҳәахьоу еиҧш, иреалтәу аекономика аҟәша финансла аицеиқәыршәаразы Аинвестпрограммаҟны иарбоу ( 400 млн мааҭ инарзын.) ахархәароуп. Ҳара ҳазхәыцроуп ақыҭауаа абарҭ алшарақәа шраҳҭаша. Кредит ҳасабла илаҟәу апроцент зыҧҵәала иауҳажьуа анаҩс, ҳазхәыцроуп аҳәынҭқарра ацырхырааны, иалархәны аусура аиҿкаара шымҩаҧгатәу. Аҳәынҭқарра финансла аицеиқәыршәареи асубсидиаҭареи рылеи (400 млн мааҭ.) мамзаргьы аинвестгәыҧқәа рылеи иааиуа афинанстә хархәагақәа ахархәара рнаҭоит ахатәы сектор арҿиаразы. Иаҧҵатәуп алшарақәа арҧхарҭатә нхамҩақәа рыргыларазы абри апроект зҽалазырхәырц зҭаху рзы. Иҟалоит агәыҧ аҧҵазар, иаҳҳәап ақыҭанхамҩа аминистрраҟны мамзаргьы Аекономика аминистрраҟны, ари азҵаара иазхәыцтәуп. Анаҩстәи аусура – ауҭраҭых ааӡара аиҿкаара. Уи ақыҭауаа ирааӡалоит, анаҩс ахәаахәҭра-аахәаратә шьақәгыларақәа рышҟа ацәырҵра, ҳтауар Аҧсны анҭыҵ ишцо амҩа реиалла иаҳбарц азы. Ашьҭахь, анхацәа алархәны аҳәынҭқарра иеиҿнакаауа аграртә ааглыхра дара анхацәа ирыҭатәхоит, урҭ рхы анҿырхлак анаҩс. Аҳәынҭқарра иаланаҵо аҧарақәа хынҳәыроуп. Сара убас ауп ишеилыскаауа, абас еибаҳҳәахьеит. Ари ҳанхаҩцәа аекономика иреиалтәу аҟәша ашьақәгылара апроцесс ралагалара ҳалнаршоит. Ари ҳбиуџьет алшара ҿыцқәа анаҭоит. Убри аҟнытә ахада иабжьгаҩ Амиран Лагәлаа ишҟа аҳәара ҟасҵоит сара сҟынӡа инеихьоу иалкаау ажәалагалақәа ҳалаиҳәарц азы. Ақыҭанхамҩа аинистрреи, Аекономика аминистрреи, егьырҭ аилазаарақәеи ҳареи ҳаицалацәажәароуп, азеиҧш знеишьа азҳархиароуп ари аус аиҿкааразы. Амиран Лагәлаа, Ахада Иабжьагаҩ: Ҳаҭыр зқәу аколлегацәа! Ҳара аусура ду мҩаҧаҳгоит, ҳаҟан аҧышәаиуразы, иҭаҳҵааит аҳәаанырцәтәи атәылақәа – Италиа, Испаниа, зҿлымҳара ду аҳҭеит лымкаала Испаниа иҟоу аилахәыра «Меркаса». Ари брендк ала ицәырҵуа 600 нызқь. фермер еидызкыло еилахәыроуп. Абри инамаданы, аиҿырҧшрақәа рнаҩс, ҳаззааиз абри ауп: анхаҩцәа рынхамҩақәа ираҳҭо иаабац акредитқәа рыла алҵшәа дуқәа ҳаураны ҳаҟаӡам, арҭ афермерцәа зегьы еидаҳамкылакәа. Имҩаҧаҳгаз аусура иалҵшәаны иаҧҵахеит хара имгакәа ицәыраҳго апрограмма. Уи ала иаҧҵахоит раҧхьа анхамҩақәа 100 - уи ҳара ҳқыҭақәа рыҟны акәхоит, ҳанхаҩаәа рынхамҩақәа ракәхоит. Иалкааны нхамҩак аҟны апрограмма анагӡаразы иаҭахуп рацәак идуум адгьыл - 1000 ҧшьыркца метрак раҟара, иҳадыргало адгьыл заҟароу еиҧш аӡбамҭа ҳадаҳкылалоит. Ари аларҵәаразы апроект аӡыргара ҳалагароуп, анхацәа ааҧхьаны рацәажәара хацырктәуп, иаауеит аспециалистцәа, ақыҭауаа рзы атренингқәа мҩаҧгахоит. Ари апрограмма аҽалархәразы иаҭаху агәазыҳәареи аҽалархәразы аҭагылазаашьеи роуп. Ари апрограммаҟны ихадароу – ҳара баша 1000 ҧшьыркца метра арҧхарҭақәа ахьаҧаҳҵо акәӡам, ари акомпаниа шьагәыҭс иаиууеит напхгара зуа, аҳәынҭқарратә еилахәыра, уи агрономиа анапы алакуп, ажәла, аиҭаҳатә, азнархиоит, арҵәы уҳәа убас иаҭаху зегьы. Ари анапхгаратә еилахәыраҟны иаҧҵахоит аихшаратә центр. Урыстәылатәи аилахәырақәа ҳрацәажәахьеит, урҭ аконтрактқәа рыҵаҩра иазхиоуп. Абасала, хара имгакәа ари апрограмма зегьы анагӡарала ҳара ҳаҩныҵҟатәи аџьырмыкьа иеиуеиҧшым ауҭраҭыхи аиаҵәареи рыла ихаҳарҭәаауеит, уи аҭахра аманы иҟаҳҵоит. Ара иҟалоит асалаҭқәа, анаша, апомидор, аиаҵәара хкы рацәала – Урыстәыла ибзианы изызҳауа, урҭ уа рҭахра ҳаракхоит. Лассы ҳколлегацәеи ҳареи афинанстә механизмқәа зегьы аназҳархиалак, ицәыраҳгоит ҳәа сгәы иаанагоит. Ара ихадараны иҟоу – ари апроект иалахәхо ҳфермерцәа ари аилахәыра дара ирхатәны иҟалоит, даҽакала иаҳҳәозар, дара аҳәынҭқарратә усбарҭак аҟны аус руа мацара акәымкәа, урҭ ари аилахәыраҟны иаҧшәымацәахоит, нас аилахәыра ахы аныҿнахлак , урҭ апаитә фонд инақәыршәаны иацҵаны ахашәалахәы роууа иалагоит. Абас иҟоуп ари аидеиа. Ҳадымхалакәа, уи аус анадаҳулалак ашьҭахь, ахәҭақәа зегьы инарҵауланы ицәырганы ишәҳарбоит. Ари зыҧсы ҭоу проектуп, ихтуп, иара анхацыркха ашьҭахь 17 мзы рнаҩс дарбан фермерзаалак, ҳара ишаҳаҧхьаӡаз ала, иҭаацәа рзы аҧара рҳауа, иқәиргылаз амыругагьы ахә ишәартә дҟалоит, аҧхьаҟа ихазы мацара аусура далагоит. Абри ауп иааркьаҿны исҳәарц исҭахыз. Рауль Ҳаџьымба: Ақыҭанхамҩа аминистрра, шәара ари азҵаара зегьы раасҭа иазааигәоу еилазаароуп. Владимир Дауров, Аҧсны Ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыҧуаҩы: Сара, аҵыхәтәантәи афраза цқьа еилыскаарц сҭахын. Анхаҩцәеи аҳәынҭқарреи реизыҟазаашьа шҧашьақәгылои? Иаҳҳәап, арҧхарҭа аҳәынҭқарра иҟанаҵозар, анхаҩы ауалафахәы иоулоу мамзаргьы аҽаҩра аихшара ҟало? Амиран Лагәлаа: Мап, анхаҩы ауалафахәы иоуӡом, уи ари арҧхарҭа, анхамҩа даҧшәымахоит. Ара аҽаҩра ашықәс аҩныҵҟа 11 мзы иҟоуп, аҧарақәа рыхәҭак ари акредит ашәарахьы идәықәҵахоит, ахәҭак иара ирҳауеит, 17 мзы рышьҭахь... Владимир Дауров: Нас аҽаҩра иҭиуама? Амиран Лагәлаа: Анапхгаратә еилахәыра уи имнахәҳауеит иеизаку рыхә ала, анаҩс аихшаратә центр аҟны иҟоуп аӡәӡәага, арҩага, аизгара-аҭаҵара ацәаҳәа уб.егь. Владимир Дауров: Абри зегьы иара иҟны ашьақәыргылара алшома? Амиран Лагәлаа: Мап, ари зегьы анапхгаратә еилахәыраҟны иҟалоит. Рауль Ҳаџьымба: Шәаргьы ҳаргьы ауҭраҭыхҵәахырҭа ҳамоуп, уи шаҟантә аӡбахә ҳҳәахьоузеи, арахь иара ҭацәуп, аус аруӡам. Абри ҳхы иаҳзархәома? Владимир Дауров: Ҳәарада. Уи хиоуп. Рауль Ҳаџьымба: Шәааи, уи ҳхы ишаҳархәара ҳазхәыцып. Раҧхьатәи ашьаҿақәа ҟаҵатәуп. Арҭ анаплакқәа анхаҩы иҭара атәы ҳҳәозар, ақыҭа ҳацхраароуп ҳамҳәеи. Арҭ анаплакқәа зауа анхаҩы урҭ реиқәырхарази рырҿиарази илшо зегьы ҟаиҵоит. Шә-нхамҩак ари апроект иалаҵахо рахьтә абжа акәзаргьы иҳаууеит лҵшәабзиала аус зуша, наплакра злыҵша, ари ҳара ҳекономиказы цхыраагӡа духоит. Убри аҟнытә ҳара ара ҳазлацәажәаша ыҟоуп, ажәалагалақәа ҟаҳҵароуп. Владимир Дауров: Рауль Џьумка-иҧа, ас еиҧш анаплакы аҧҵара атәы ҳҳәозар, ҳара аиҭаҳатәқәа ҳамоуп, урҭгьы ари анаплакы ашҟа инаҳгар ҟалоит, избан акәзар адгьылқәа ҳамоуп аҧхьаҟа хархәашьас ирыҭатәу макьана зҵаараны иаҳзықәгылоуп (уа 20, 40, 50, 100 гектар рҟынӡа ыҟоуп). Иҟоуп адгьылқәа, иаҳҳәап, мараҭәашәаратәи аган аҟны, ауаа рхала хылаҧшра аҭара рылшоит уб. иҵ. Рауль Ҳаџьымба: Ари апроцесс ҳаламгаӡаци? Алагамҭагьы ыҟаӡами... Ирзаҳшәама? Владимир Дауров: Ҳалагеит. Иахьа раҧхьатәи ашәатәы ҳалагоит. Рауль Ҳаџьымба: Нас егьырҭ ҳара иаҳшәоит. Анхаҩы ари аусура ихала анагӡара шилшо анибалак, ари аҭыҧ иара имазааит, иара итәызааит уи адгьыл, ихатәы нхамҩаны иҟазааит. Уи аус инапы алакуп азы ихазгьы аҳәынҭқарразгьы аусура далагоит. Владимир Дауров: Аҧхьанатә, апрограмма аусура ианалага, аҳәынҭқарра аиҭаҳара, ахылаҧшра ахы иаднаҵоит, ашәырҿалара иалагаанӡа афинансқәа азоунажьуеит ҳәа, нас ари зегьы анхаҩы ма қьырала изго изынхоит ҳәа азҵаара ықәгылан , аҳәынҭқарра ишьақәнаргылоит ҳәа аҽаҩраҟнытә шаҟа процент алаигало – 5%, 10%, 20% ракәу. Рауль Ҳаџьымба: Уи настәи апроцесс ауп. Владимир Дауров: Иаҳҳәап, аҵәақәа 2016 шықәсазы ашәыр ҿало иалагоит, 4 шықәса рҭахуп аҿалара иалагарц азы. Рауль Ҳаџьымба: Арҭ аҵәақәа баша аиашьчикқәа ирҭаҵаны акәымкәа изҭаху рҟынӡа инеироуп. Владимир Дауров: Ҳара ҳџьырмыкьаҟны арҭ аҵәақәа рҭахра ҳаракуп. Убри инацҵаны ауҭраҭыхҵәахырҭа ауҭраҭыхи ашәыри рыдкылара иазхиоуп. Рауль Ҳаџьымба: Еиҭасҳәахуеит, анахьгьы арахьгьы алҵшәақәа ҟалароуп. Иазҧхьагәаҳҭаз зегьы ҳзынамыгӡаргьы, ауаа ааиуеит арҭ апроцессқәа рыҽрыларгаратә еиҧш. Амиран Лагәлаа: Азин сышәҭома? Ҳара даара агәыҕра ҳамоуп, абри ҳаиҿкаара, напхгара зуа ҳаилахәыра ҿырҧшык, гәыцәк иаҩызахоит егьырҭ апроекктқәа зегьы уи аҩныҵҟа рынагӡара алшоны иҟалоит ҳәа. Аха исҳәарц исҭаху абри ауп. Абри аҭагылазаашьаҟны аҳәынҭқарра инвесторк аҳасабала ишықәгылоу ала, аинвестор апроект аҿиара аамҭақәа зегьы зҿлымҳара аиҭоит, - абра аан, аиҭаҳара, аизҳара, аҽаҩра еизгара – зегьы хырҩа рыҭаны, зегь раасҭа ихадароу – аҭирагьы хырҩа аҭоуп. Даҽакала иаҳҳәозар, егьырҭ ирацәажәо, иеихызшо, иеидызкыло уҳәа аихшарацентр ыҟамкәа ари зегьы алыршара уадаҩхоит. Абри апрограмма аусура ишалаҳаргалак, арҭ аизыҟазаашьақәа зегьы аҭыҧ иқәаҳҵоит. Асҭамыр Аппба, Аҧсны Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩы: Аинвестициақәа рымҽхак заҟарои? Амиран Лагәлаа: Ҳара иаҳаҧхьаӡаз ала, абри еиҧш рҧхарҭак ахәҧса – адгьылҭыҧ аҟны инаганы ашьақәыргыларазы ахәҧса 990 нызқь мааҭ артәоит. Ари италиатәи аилахәыра «Луккини» арҧхарҭоуп. Аха уи иарбанзаалак даҽа рҧхарҭазар ҟалоит - израильтәи, испаниатәи – ҳара иаҳнаало алаҳхуеит. Ари иацлоит ацикл азы аныхтәқәа: аиаҵәара атәы ҳҳәозар, 160 нықь мааҭ рҟынӡа, ауҭраҭых азы - 190 нызқь мааҭ. Уахь иаҵанакуеит агрономиа, ажәла, аиҭаҳатә, арҵәыга уҳәа егьырҭ иаҭаху зегьы. Иара арҧхарҭа иахьатәи аамҭа иақәшәо иҟаҵоуп, иеизугоит, иеимухоит, ҳпартниор, ма афермер ҳаззеиқәшаҳаҭхаз акы наимыгӡар, уи хымш рыла иеимхны даҽаџьара ииаганы иургылар ауеит. Владимир Дауров: Ари аимадара ахьалгоу адгьылҭыҧ иадҳәалами. Амиран Лагәлаа: Аимадарақәа аҭахӡам. Анхамҩа дуқәа ртәы анаҳхәо, ари проблема хаданы иҟоуп – амеханиациа азура, абылтәы азҵаара. Ара аидеиа шьаҭас иамоу арҧхарҭа хазхаҭалатәи анхамҩа иаҳҭоит. Рауль Ҳаџьымба: Ҳара анхаҩы аус ицура ҳшазхиоу ҳхәароуп, ишьапы дықәзыргалаша иоурц азы. Агәра жәга, ауаа абри амҩа алырхуеит. Владимир Дауров: Рауль Џьумка-иҧа, анхаҩы изы ихадароу – иаалыҵ аҭироуп. Амиран Лагәлаа ишиҳәаз еиҧш, анапхгаратә еилахәыра аҭирагьы ахахьы иагозар, ауаа, ҳәарада, иаадрыхуа арҭалоит. Рауль Ҳаџьымба: Сара ари апроцесс ақьаад аҟны иаанхар сҭахӡам, уи афинанс азоужьра иалагатәуп. Афинанстә хыҵхарҭазы исҳәахьеит – уи 400 млн мааҭ азгәаҭоуп. Ара аҳәынҭқарра алахәзар сҭахуп ари апроцесс, анхаҩы ишьапы иқәыргылара иацхраартә еиҧш, иргылахо арҧхарҭақәа нас иара анхаҩы иҭарала. Уи дара ргәы азҭанаҵоит. Адгур Ардзынба, Аҧсны аекономика аминистр: Рауль Џьумка-иҧа, шәара иаҳзықәшәыргылаз ауснагӡатәқәа рынагӡара хацыркуп. Раҧхьа иргыланы, анаплакра маҷи абжьаратәи анаплакреи адгылара рыҭара мҩаҧысуеит, лымкаала, ақыҭаҟны анаплакра маҷ аҿиара иалагеит. Ҳара хықәкы хаданы иҳамоу – ақыҭаҟны анаплакҩы иаҧҵароуп. Уи рацәак идуум нхамҩақәоуп, зхала зхы ҿызхуа, аҧарарҳаразы ақыҭа иалҵны џьаргьы ицаӡом усҟан. Ахыҵхырҭеи афинансзоужьреи рмеханизм азы – аусура мҩаҧысуеит. Шәара шәнапынҵала урыстәылатәи аколлегацәеи ҳареи ҳаиқәшәеит, ҳаицәажәеит, уажәы амеханимқәа разырхиара ҳаҿуп. Уажәы афинансзоужьразы ихадароу амыругақәа аус рыдулара иаҿуп: 1. Апроекттә финансзоужьра; 2. Ааглыхра ахархәагақәа қьырала ргара анаҩс раахәара азин рыцҵаны; 3. Апроценттә зыҧҵәа азоужьра иргаз афинанстә цхыраагӡақәа, акредитқәа рзы. Нас, ахархәагақәа рыхәҭак арҵара, аквалификациа ашьҭыхра азкра, ҳанхацәа адгьыл аҟны аусушьа рыздырам ҳәа акәым, аха иҟоуп атехнологиақәа алҵшәақәа иҵегьы реизырҳара алзыршо. Ииашаны иазгәаҭоуп УА афинанстә цхыраара аҳәаа иҭагӡаны уанӡа инагӡаз апроектқәа рзы. Урыстәылатәи ҳколлегацәа азҵаара иашаны иқәдыргылоит, ахырхарҭақәа зегьы рыла иеиуеиҧшым апроектқәа нагӡоуп аха алҵшәа ыҟаӡам анырҳәо. Уажәы уанӡа иҟаҵаз ҳхы иаҳархәарц ҳаҿуп – ауҭраҭыхҵәахырҭа уҳәа уб. иҵ. Ҳара уаанӡа иҟаҵазз мап ацәаҳкӡом, уи алҵшәа аиурц азы аус адулара ҳаҿуп. Ихадароу лҵшәаны иҟоу – ҳанхаҩцәа рхы зланыҟәыргаша ахашәала роуртә аҟаҵароуп. Рауль Ҳаџьымба : Адепутаттә корпус аҟнытә аӡәгьы акгьы иҳәар иҭахӡами? Беслан Ҵнариа, Жәлар Реизара адепутат: Сара макьана ари апроект сымбаӡац, исыздырӡом. Аҳәынҭқарра аганахьала анхаҩцәа иаадрыхуа аҭираҟны ацхыраара роур, анхаҩцәа рхалагьы аџьырмыкьа рхы ишадырхәыша рыҧшаауеит. Иаҳҳәап, Рауль Џьумка-иҧа, Атәылахьчара аминистрра иахьа Аҧсны анҭыҵ ақыҭаалыҵ аанахәоит. Иӡбазар зыҟамлои, уи Аҧсны иҭымҵкәа, ара иаархәаларц азы? Уи ала анхаҩгьы ҳицхраауеит, ахәгьы иаҳа илаҟәны иҟалоит. Иаҳгар, апомидори анашеи. Урҭ ҳар ирызхартә аҟара аадрыхуеит. Акурорттә обиектқәа рацәаны иҳамоуп ари аалыҵ аазхәаша. Ари апроцесс анырра шаҭатәу иазхәыцтәуп. Анхаҩцәа массала абизнес радҧхьаларазы алшарақәа аҧҵатәуп. Дмитри Сериков, Аҧсны Аҳәынҭқарра аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩы: Саргьы уажәааигәаӡоуп ианызба апроект. Ҩба, иазгәасҭарц исҭаху. Ихадараны иазгәаҭатәу – арҭ амеханизмқәа зегьы рыҟны анапхгаратә еилахәыра рольс инанагӡо, ииашаны ишазгәаҭоу еиҧш, ихадарақәоу иреиуоу – аалыҵ аҭиразы адәқьанқәа рахь анеира. Иалхтәу анапхгаратә еилахәыра иаҳа иаартны иазнеитәуп. Еилахәырақәак ҷыдала иалкааны акәымкәа, аицлабра мҩаҧганы иаҳа аҧышәа змоу аиааиртә иҟаҵатәуп. Ари ганкахьала. Аҩбатәи аган – аҩныҵҟатәи аарыхҩы адәныҟатәи ицәыхьчара алыршара. Уажәы ҳазегьы иаҳдыруеит ақыҭанхамҩа аалыҵ аҩаӡара шылаҟәу. Арахь иаауа аалыҵ аиҳарак анаплакы дуқәа рыҟны иаадрыхуеит. Аҩны иаадрыхуа аалыҵ, хымҧада, ахә еиҳахоит, шә-гектарла измоу анхамҩа дуқәа рыҟны иаадрыхыз аасҭа. Уи ахаангьы ахә еиҵахом. Ҳара иаҳтәу аарыхҩы дзыхьчо механизмк аҧаҳамҵар, ари апроект аҧара азмырҳар ҳәа сшәоит. Избан акәзар, иара аахәагатә механизмгьы егьырҭ атәылақәа рҟынтәи аалыҵ ааганы анапхгаратә еилахәыра ишьақәнаргыло иеизаку ахә ала алаҵара иалагартә иҟанаҵоит. Убри аҟнытә атәыланҭыҵынтә иаагахо аалыҵ алагалара иацәызыхьчо амеханизм иазхәыцтәуп ҳара ҳагәҭакы бзиақәа алагаанӡа инымҵәарц азы. Даҽакгьы апроект ианырҧштәу ҳәа сгәы иаанаго. Аалыҵ аахәагатә ахәҧса ашьақәыргылара аҧҟара аартны иҟазар еиҕьуп. Сара аҳәынҭқарра аганахьала инҭырхәыцааны агәаҭара сақәшаҳаҭӡам. Ауаа ахақәиҭра рыҭатәуп, алшара рыҭатәуп. Ари, сара сгәаанагарала, алҵшәа бзиа ҳнаҭоит. Анхаҩцәа аарыхҩцәа арҧхарҭақәа рыҟны алхра азин рымазароуп. Урҭ аалыҵ аамҭала аҵәахразы ашьҭаҵарҭақәа рахь рнагара рылшоит анапхгаратә наплакы ишьақәнаргыло ахәҧса ала. Иара убасгьы ахы иақәиҭны аџьырмыкьаҟны аҭира азин рымазароуп Аҟәа акәзаргьы Пицунда акәзаргьы. Зхы иазырхәо ауааҧсыра раархәара рылшартә еиҧш. Алхразы аҭагылазаашьа аныҟоу алҵшәа бзиақәа ҟалоит есқьынгьы. Амиран Лагәлаа: Анапхгаратә еилахәыра атәы ҳҳәозар. Анапхгаратә еилахәырак ааҧхьахоит ҳәа акәӡам иаҳҳәо. Ари, раҧхьа иргыланы, аҧсуа ҳәынҭқарратә еилахәырахоит, арахь иааҧхьахо аспециалситцәа атренингқәа мҩаҧыргалоит аиқәшаҳаҭрақәа ыҟоуп, убарҭ инарықәыршәаны аиҿкаараҟны иҳацраауеит. Ахәқәа рзы сзықәшаҳаҭым ыҟоуп. Ҳара «афермери – анапхгаратә еилахәыреи» реизыҟазаашьа шьақәҳаргылоит ҳәа мацара акәӡам хықәкыс иҳамоу. Ҳара , «уара иуааӡеит, ҳара иумҳахәҳаит, абзиараз» ҳәа аизыҟазаашьақәа аҧаҳҵарц ҳгәы иҭаӡам. Афермергьы анапхгаратә еилахәыра аҧшәымас дамоуп. Уи ус иҟаҵатәуп џьаргьы дымцарц азы. Уи аҳәынҭқаррагьы анапхгаратә еилахәырагьы рҿаҧхьа иду иуал шәаны даналгалак ашьҭахьгьы , ара аус иуеит хымҧада, насгьы ари аилахәыра ахашәалагьы далахәхоит. Даҽакала иаҳҳәозар, ари афермерцәа ркооператив ауп. Абас иҟаҵамзар, акгьы алҵӡом. Дмитри Сериков: Сара напхгара зуа аилахәыра, хымҧада, ҳәынҭқарратәызароуп ҳәа сгәы иаанагаӡом. Ахатәы бизнес аҿиаразы иҵегьы алшарақәа аҧҵатәуп ҳәа исыҧхьаӡоит, насгьы абизнес ибзианы аус ахьауа, аҧара ахьарҳауа аҳәынҭқарра адҧхьалара аҭахӡам ҳәа исыҧхьаӡаӡом. Сара сгәаанагарала, аҳәынҭқарра иатәызароуп ари акомплекс, иара амазара. Напхгара зуа аилахәыра аус аулароуп , асасааирҭатә бизнес аҟны еиҧш. Асасааирҭақәа зтәу хазуп, анапхгараҭаратә еилахәыраҟны даҽа џьоукы ыҟоуп. Урҭ напхгара арҭоит, ахашәала аҟнытә иалкаау апроцент роууеит. Анапхгара шеиҿкаахогьы ҵакы амоуп. Ҳара абри аганахьала маҷк ҳаҵахахьеит. Адунеитә еилахәырақәа жәпакы абри аганахьала даара ҧхьаҟа ицахьеит. Еилахәырақәак ахашәалаҟнытә ҩ-процентк роууеит, егьырҭ – хҧа. Иҟалоит аицлабра мҩаҧаҳгар напхгара зуа аилахәырақәа рыбжьара аҳәынҭқарратә комплекс амаҵзура ахаҭабзиаразы. Иреиҕьу алҵшәақәа аазырҧшыз, иаиааиз аилахәыра аҟны аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵаҳаҩуеит ҩышықәса ҳәа. Иҟоуп аҵакы ду змоу аҟәшақәа, аҳәынҭқарра абизнес иазамҭо. Убри аан аҳәынҭқарра ҵакы змам аҟәшақәа ааннажьлароуп. Асҭамыр Аппба: Ара ҳазлацәажәоз абизнес маҷи абжьаратәи абизнеси адгылара аҭаразы апрограмма иахәҭакны иҟоуп. Иацы афинансыркразы алшарақәеи акредиттә хархәагақәеи рыҭареи ртәы ҳалацәажәеит. Иахьа иашьҭыху азҵаарақәа зегьы абизнес маҷи абжьаратәи абизнеси адгылара аҭаразы апрограмма ду аҳәаа иҭагӡаны имҩаҧгатәуп, насгьы уа ишьақәыргылоу аҧҟарақәа ирықәшәозароуп. Иахьатәи ҳаицәажәараҟнытә иубоит иеиуеиҧшым азнеишьақәа шыҟоу. Аҳәынҭқарра хықәкы хаданы иамоуп – абизнес адгылара аҭаразы амеханизм ашьақәыргылара. Ари апроект ҧыжәара зламоу – уи ахы инаркны аҵыхәанӡа анагара ахьалшо ауп. Хымҧада уи аҽазыҟаҵареи арҵареи иалагатәуп. Уи ари апроцесс арццакра иацхраауеит. Ари аус аҟны игәыгәҭажьхаз ыҟоуп, ҳара уи хаҳарҭәаароуп. Ара аҳәынҭқарра рольс инанагӡар ауа, арҵаратә центрқәа реиҿкаара иацхраароуп, финансла еиқәнаршәароуп, ауаа аҵаразы алшарақәа рзаҧҵатәуп. Акраҵанакуеит арҭ апроектқәа рыҟны аинформациа аизгара, амаркетингтә анализ амҩаҧгара уҳәа уб. иҵ. Ари аџьырмыкьаҟны имҩаҧысуа, аҿиаразы лшарақәас иҟоу аилкаара ҳалнаршоит. Рауль Хаджимба: Уаҳа згәаанагара зҳәар зҭаху шәыҟоума? Амра Қәаранӡиа, Аҧсны Афинансқәа рминистр: Сгәы иаанагоит ақыҭанхамҩа, ақыҭауаҩы хымҧада адгылара иҭатәуп. Аҵыхәтәаны, уснагӡатәны иқәгылазароуп шаҟа ҳарҳауа акәымкәа, алшарақәа змоу ақыҭауаҩы ишьақәыргылара. Рауль Ҳаџьымба: Ҳара раҧхьа иргыланы, иелаҳкаароуп, усурада анхаҩы аҳәынҭқарра иазыҟазаашьа ҳзыҧсахӡом. Уажәы ара иаҳҳәаз зегьы – ари сара асазхәыцны иҟасҵеит. Сара шәара шәгәаанагара здыруазароуп. Ҳара иеиуеиҧшым азнеишьақәа шыҟаз ҳаҳаит. Хара имгакәа аусуратә гәыҧ аҧаҳҵоит, иахьа иҟаз ажәалагалақәа азҳархиоит документкны иеидкыланы. Иарбанзаалак иҟаз агәаанагара иазхәыцтәуп, зҿлымҳара аҭатәуп. Ҳара анхаҩы ҳаиликаартә иҟаҳҵароуп. Мышқәак раҧхьа иаҳҳәоз – анхаҩы, ахазхатәы асектор адҧхьаларазы иазгәаҳҭаз амҩа ахырхарҭоуп иамоу. Аха уа зыӡбахә ҳәоу кредитла аиқәыршәара ауп, ара – аҳәынҭқарра афинанстә цхыраарақәак аҧшааразы алшарақәа ртәоуп иҳәоу, аҳәынҭқарра аинтересқәа инарыдҳәаланы арҭ апроцессқәа дара анхаҩцәа радҧхьалара. Афинанстә аагарҭақәеи арҭ апрограммақәа рынагӡашьеи хаз-хазуп. Иақәнагоу адокумент азырхиаразы мызкы ҳҭахуп ҳәа сгәы иаанагом. Жәамш рыҩныҵҟала адокументқәа рпакет азырхианы иаагатәуп. Аҧыза министри Ахада иабжьагаҩи ари адокумент аус адулара рхы аладырхәырц аҳәара ҟасҵоит. Сгәы иаанагоит Ақыҭанхамҩа аминистрра, Аекономика аминистрра, адепутаттә корпус ацхыраара ҳарҭоит ҳәа. Ҳара алшарақәа аҧаҳҵоит ақыҭаҟны аҭагылазаашьа аҽаҧсахырц азы. Афинанстә аагарҭақәа ыҟоуп. Урҭ аҭагылазаашьа аҧсахра иацхраауеит. Аха уи уанӡеиҧш ҳазнеиуа ҳалагар, аҧара ахьца-иахьаа ҳамбаӡакәа ицоит, ҳара аҧара аус аур ҳҭахуп. Жәамш рыҩныҵҟала адокументқәа рпакет сшәырбоит, убасҟан абри апрограмма анагӡара атәы ҳалацәажәоит. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
https://presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/2529/
2024-02-29T07:41:53Z
<urn:uuid:a4e09c3c-c4ec-43b3-96ee-06858325d86d>
[ "footer" ]
[]
abk-Cyrl
0.99
0.98
0.99
84
34,518
tlsh:T13AF3C1F25A80DB4BC6B3C459DB818A3578D16843436377208EC9F5B516860A9FBFDD13AABAE9168A709B2521E162BF146509FCE6683E7BE7704240942C3F3DDD37A532C2AD
Геннади Шьаликәа-иԥа Аламиа (аур. Геннадий Шаликович Аламиа; ԥхынгәымза 24, 1949 ш., Кәтол ақыҭа, Очамчыра араион) — Аԥсны шәҟәыҩҩы, поет, политик. Аҵакы 1 Абиографиа 2 Абиблиографиа 3 Алитература 4 Азхьарԥшқәа Абиографиа аредакциазура Диит 1949 шықәса ԥхынгәымза 24 рзы Кәтол ақыҭа Очамчыра араион. 1966 шықәсазы дҭалоит А.М.Горки ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогтә институт афизика-математикатә факультет. 1968 шықәсазы дцоит Москваҟа - дҭалоит А.М.Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт. Далгеит 1973 шықәсазы. Генади Аламиа - ауаажәларратә хеидкыла, жәлар рфорум «Аидгылара» аиҿкааҩцәа дыруаӡәкуп, редакторс даман абри афорум агазет «Аидгылара». Уаанӡа аус иуан ажурнал «Амцабз» аредакциаҿ. Ҳазҭагылоу аамҭазы Генади Аламиа аԥсуа-абаза (абаза) жәлар адунеижәларбжьаратәи рассоциациа маӡаныҟәгаҩ хадас дамоуп, дыҟоуп иара убас аџурнал «Абаза» аредактор хадас. Акьыԥхь аҿы дцәырҵит 1964 шықәсазы. Абиблиографиа аредакциазура Адәы иаҵәа. Аҟәа, 1971 шықәса. Мышкы аԥсҭазаара. Аҟәа, 1976 шықәса. Амцажәла. Аҟәа, 1979 шықәса. Аҳаԥи ацәашьи. Аҟәа,1979 шықәса. Аԥшьа ҭыԥ. Аҟәа,1982шықәса. Хара ицатәуп. Аҟәа, 1985 шықәса. Иҟоуп ус амшқәа. Аҟәа, 1987 шықәса. Геннади Аламиа иеиҭагамаҭақәоуп Шекспир - «Акрал Лир», «Иули Цезар», Кальдерон - «Аԥсҭазаара ԥхыӡуп», А.Грибоедов - «Зыхшыҩ зызрыцҳараз», хаз-хаз еизгақәаны иҭыҵхьоу К. Хетагуров, М.Чкуту рырӡиамҭақәа. Геннади Аламиа дравторуп жәлар рҳәамҭа шьаҭас измоу Апсны агимм ажәакәа. Алитература аредакциазура Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 933
https://ab.m.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D0%BB%D0%B0%D0%BC%D0%B8%D0%B0,_%D0%93%D0%B5%D0%BD%D0%BD%D0%B0%D0%B4%D0%B8_%D0%A8%D1%8C%D0%B0%D0%BB%D0%B8%D0%BA%D3%99%D0%B0-%D0%B8%D4%A5%D0%B0
2024-02-22T17:27:57Z
<urn:uuid:a227fcd8-eb62-4eed-9c71-36852126a776>
[ "header", "short_sentences" ]
[ "liste_bu", "wikipedia" ]
abk-Cyrl
0.87
0.94
0.98
17
2,880
tlsh:T150D03A51AE80CB4BD373C0888DC18D3CDCD9685346723271CEA6B0A63A134CDEEBCC01A6F9A5198960BF5222E523A9146D4BFDD425BCADCF629104973D3E38EA1B54B6E65F
Жәабранмза 6 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба Алада Уаҧстәыла Ареспублика Ахада Анатоли Бибилов Имшира идиныҳәалеит. Адныҳәалараҟны иҳәоуп: «Ҳаҭыр зқәу Анатоли Илиа-иҧа! Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи. Хамеигӡарада Аҧсадгьыл амаҵураҟны Шәара шәхы иашәырхәо шәдыррақәа, шәҧышәа, шәыпрофессионализм ҿырҧшы бзианы иҟоуп игыло абиҧарақәа рзы. Агәра згоит наҟ-ааҟ ҳажәларқәа реизҳазыҕьара хықәкыс измоу, аиашьара зыбжьоу ҳтәылақәа реимадара есааира амҽхак шыҭбаахало, аҧхьаҟагьы ҩ-ганктәи аусеицура арҕәҕәара ишацхраауа. Ҳаҭыр зқәу Анатоли Илиа-иҧа, азин сышәҭозар, ишәзеиҕьасшьар сҭахуп агәабзиара, аихьӡарақәа аҭакҧхықәра ду зцу аҳәынҭқарратә маҵзураҟны».
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/11681/?print=Y
2024-02-22T20:25:10Z
<urn:uuid:a0ebb3e9-577b-4f7d-8928-c6c8b99f62ae>
[]
[]
abk-Cyrl
0.95
1
1
6
1,285
tlsh:T116EC89212980DB4BE673D499DE428E30BCD4244382626670CEC4F4B46753058DABCD1397BAD1064670E70571E2726A10A589FDEA687DAAC7B10640652C3FBCCB37A835C59E
Аилацәажәара иалахәын Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба, аҧыза-министр Артур Амқәаб, Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Астамыр Ҭаниа, Амлаҭтә Банк Ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа, Афинансқәа рминистр Амра Қәаранӡиа, Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба, Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Асҭамыр Аппба, Жәлар Реизара адепутатцәа Гәурам Барганџьиеи Гьаргь Агрбеи, Аексперттә Усбарҭа аиҳабы Иракли Хынҭәба. Ахада иазгәеиҭеит аекономика ареалтә ҟәша аҿиаразы анаплакра маҷ асубиектқәа кредитла реиқәыршәара иамоу аҵакы ду: «Иахьатәи ҳаилацәажәара иаҳәоит ҳара ажәа аҟнытә аус ахь ҳшиасуа. Ҳтәылауаа аусура рҭахуп, уи агьрылшоит, ҳара абизнес маҷ анаплакқәа раартраҟны урҭ акредиттә цхыраагӡақәа роуразы аҭагылаазаашьақәа рзаҧаҳҵароуп». Амилаҭтә Банк Ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа аилацәажәара иалахәыз иреиҳәеит Амилаҭтә Банк иазнархиаз абизнес маҷ кредитла аиқәыршәаразы апрограмма ихадоу аҧҟара атәы. Уи хықәкы хаданы иамоуп анаплакра маҷ асубиектқәа льгота ҳасабла кредитла реиқәыршәара. «Ҧхынгәы 15 инаркны ари апроект аусура иалагоит. Акредитқәа рзы иазгәаҭоу ахархәагақәа 200 млн мааҭ дыртәоит, урҭ рахьтә 100 млн мааҭк акыҭанхамҩатә ҟәша иазкхоит, 100 млн мааҭк – егьырҭ анаплакра асубиектқәа. 1 млн мааҭк аҟынӡа акредитқәа 2 шықәса ҳәа аҿҳәара рыҭахоит, 3 млн мааҭк рҟынӡа - 3 шықәса», - иҳәеит Беслан Бараҭелиа. Амилаҭтә банк Ахантәаҩы иаҵшьны иазгәеиҭеит ари апрограмма асоциалтә ҟазшьа шамоу, убри аҟнытә акредитқәа рзыҧҵәақәа (ставки) иахьынӡауаз ирмаҷын. «Азыҧҵәақәа анаплакқәа рзы шықәсык 6% дыртәоит ақыҭанхамҩа знапы алаку рзы, шықәсык 8 % - Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рзы, 12 % шықәсык- анаплакра маҷ егьырҭ асубиектқәа рзы», - иазгәеиҭеит Беслан Бараҭелиа. Уи иажәақәа рыла, Амилаҭтә Банк иазгәаҭаны иамоуп у амикрокредитттәразы даҽа программак . Уи ала атәылауаа 300 нызқь мааҭ рҟынӡа акредит рзаужьхоит. Рауль Ҳаџьымба адҵа ҟаиҵеит апрограмма планла рашәарамза агәҭаны аусура иалагарц азы аҭагылазаашьа аҧырҵарц. «Арҭ аицҵалыҵқәа зоураны иҟоу ииашаны аус рыдаҳулар, аамҭа-аамҭала кредитла реиқәыршәара ҳзеиҿаҳкаар ишақәнагоу, хылаҧшра аҳҭар апроект анагӡашьа, уи аамҭак иазыҧҵәоу аусура нагӡахацыҧхьаӡа афинанс азоужьхар, акредиттәра апрограмма алҵшәа акыр иҳаракхоит», - иҳәеит Ахада. Ахада иазгәеиҭеит акредит азоужьра азҵаара аӡбараан уи иазыҳәо ауаа рыкредиттә ҭоурых ҳасаб азухоит ҳәа. «Уаанӡа аҳәынҭқарра ирнаҭаз акредитқәа рырхынҳәра апроцесс хацыркуп. 200 млн мааҭ акредиттә ҧара дырхынҳәххьеит. Ҳтәылауаа аҳәынҭқарра ирнаҭаз аҧарақәа шырхынҳәтәу рдыруазароуп», - инаҵшьны иазгәеиҭеит Рауль Ҳаџьымба. Хара имгакәа Ахада иофициалтә саит аҟны икьыҧхьхоит анаплакра маҷ кредитла аиқәышәара азҵаарақәа рзы аилацәажәара астенограмма харҭәааны. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/2272/
2024-02-29T08:01:36Z
<urn:uuid:b2aca907-1af2-41ee-b40b-0a2de8f7e956>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.94
0.87
0.98
15
5,768
tlsh:T1AAB828C16940CB87C2B3C019DBC18A396CC1A80346727620CEC9F5B11342099EFFCD23DAFEE8468A70AB1512E1627B016949BDD9607EAFDB705255A57D3F39DD37A436D16E
Аекономикатә реформа ахырхарҭа хадақәа ралкааразы ажәалагалақәа разырхиара иазку ахада иҟны иҟоу Аусуратә гәыԥ аилатәара Аҧсуа Русский English Акьыҧхьразы аверсиа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Ахада(current) Абиографиа Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан Ахада имчхара атрибутқәа Ахада ихаҭыҧуаҩ(current) Абиографиа Ахада Иадминистрациа(current) Ахада Иадминистрациа Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы АИ анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩцәа Ашәарҭадаратә Хеилак Ахада Иадминистрациа аилазаара Ахада Иадминистрациа ажәабжь ҿыцқәа Ажәабжь ҿыцқәа Аҧсны Аҳәынҭқарра(current) Азеиҧш информациа Аҳәынҭқарра асимволика Аҧсны аҭоурых Аекономика Акультура АИХ рзы(current) Аккредитациа Аимадарақәа Аофициалтә фотосахьақәа Адокументқәа(current) Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәанқәа Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәанеидкылақәа Жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа Ахада Иусҧҟақәеи идҵақәеи Ахада иажәахәқәа Ацҳамҭақәа Аимадаратә хархәагақәа(current) Афото Авидео Аимадарақәа(current) Аимадаратә информациа Ахада ашәҟәы изыҩра Аекономикатә реформа ахырхарҭа хадақәа ралкааразы ажәалагалақәа разырхиара иазку ахада иҟны иҟоу Аусуратә гәыԥ аилатәара 09.03.2023 Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа имҩаԥигеит аекономикатә реформа ахырхарҭа хадақәа ралкааразы ажәалагалақәа разырхиара иазку ахада иҟны иҟоу Аусуратә гәыԥ актәи аилатәара. Уи иалоуп аҭҵаарадырратә уаажәларра, анаплакратә уаажәларра, аекономика аусхк аҟны аекспертцәа, абанктә система ахаҭарнакцәа, аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа, Аԥсны ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа. Аилатәара аартуа, аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит: «Иахьатәи аилатәара атема зегьы ибзианы ижәдыруеит. Иара актуалра амоуп. Ҳара, атәыла анапхгара ҳзы аполитикатә процесс иалахәу аполитикатә мчқәа зегьы ргәаанагара акраҵанакуеит. Ҳҿаԥхьа иқәгылоуп ҳахшыҩ еилаҵаны иҳаӡбаша иуадаҩу апроблемақәа Ареформақәа рымҩаԥгара аамҭа ааижьҭеи акыр ҵуеит. Аха ари апроцесс мариаӡам, апопулизм ара ҭыԥ амамзароуп. Аекономикатә, аполитикатә еиҭакрақәеи асоциалтә реформақәа рырҿиареи апрофессионалтә знеишьеи шьаҭанкылатәи адыррақәеи рҭахуп. Сара агәра згоит ара еизаз зегьы ирҭаху акоуп: ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аиӷьтәра, атәылаҟны аԥсҭазаашьа аҩаӡара ашьҭыхра, аҳәынҭқарратә мчхара – анагӡаратә, азакәанԥҵаратә, амчхара аӡбаратә махәҭа арӷәӷәара. Убри аҟнытә сгәы иаанагоит иазырхиахоит ҳәа азеиԥш алгоритм ари аусураҿы». Аилатәара иалахәыз Аԥсны аекономика аҿиара ахырхарҭа хадақәа ралкааразы дасу ридеиақәа, ражәалагалақәа аадырԥшит. Аекономикеи азини ринститут адиректор Заур Шьалашьаа атәыла анапхгара аԥшьгара аҵак ду шамоу, иактуалтәынгьы ишыҟоу. Иҟоу аекономикатә проблемақәа жәпакы дрылацәажәо, иааирԥшит аекономикатә еиҭакрақәеи ареформақәеи рымҩаԥгара хымԥада иаҭахны ишыҟоу азы ҵаҵӷәыс иамоу. Аҵарауаҩ иҳәеит аинвестициақәа радԥхьалара шаҭаху Аԥсны аекономика ашьақәыргыларазы. «Аԥсны аинвестициақәа рызҵаара аҵак ду амоуп, избан акәзар аҳәынҭқарра амацара азҵаарақәа зегьы азыӡбаӡом, иара убасгьы аҭыԥантәи анаплакыҩцәагьы уи аҟара рылшаӡом. Убри аҟнытә атәылаҟны аҳәынҭқарра-хазхаҭалатәи аусеицура шьақәыргыланы иҟазароуп. Агәра ганы сыҟоуп ари апроцесс хазы игоу ҳтәылауаагьы алахәзароуп ҳәа. Ари Жәлар рнаплакы аԥҵара алнаршоит, Урыстәыла ишыҟоу еиԥш. Ас еиԥш иҟоу анаплакқәа Мрагыларатәи Аԥсны ианаалоит. Ара аӡа ыҟоуп. Ҳәарада, ԥасеиԥш анаплак дуқәа рыргылара алымшаргьы ҟалап, аха ауаа рдыррақәа хархәара ахьроуша идуум анаплакқәа раартра ҟалоит», - иҳәеит З. Шьалашьаа. 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа р-Республикатә уаажәларратә еиҿкаара «Аруаа» амаӡаныҟәгаҩ Ҭемыр Надараиа аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа еиҳәеит ас еиԥш аппозициа злахәу аиԥылара аиҿкааразы. Аха иазԥхьагәаҭоу ареформақәа агхеит ҳәа азиԥхьаӡеит, ахада иалхра анымҩаԥысуаз аҳәынҭқарразы зыда ԥсыхәа ыҟам ареформақәа рынагӡаразы иҟаз аргәыӷрақәа ари аԥхьа иҟазгьы уажәтәи анапхгаҩцәагьы рынагӡара шрылымшаз азгәаҭаны. Ҭемыр Надараиа иҳәеит апартаментқәеи апарт-отельқәеи рзинтә статус закәанԥҵарала аҳәаақәҵара азҵаара адгылара шаиҭо, убри аан иазгәеиҭеит игәы змырҭынчуа акы акәны ишыҟоу иара изы иеилкаам апартаментқәеи апарт-отельқәеи рыквотаркра азҵаара. Ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара ахантәаҩы «Аидгылара» Кан Кәарҷиа иазгәеиҭеит Аԥсны Ахада гәыкала аекономикатә реформақәа рымҩаԥгара шиҭаху, аха атәылаҟны иҟоу аилаҩынтраан ареформақәа рымҩаԥгара даара иуадаҩхоит». «Апарт-отельқәа ирызку аидеиа бзиоуп, аха ақалақьргыларатә, адгьылтә закәанеидкыла азҵаарақәа рҭыԥ иқәҵаӡам. Иаҳҳәап, апарт-номерқәа зтәу 10 нызқьҩык ртәакәзар ҳазлацәажәо, афакт аҟны 40 нызқь рҟынӡа ҳаур алшоит», - ҳәа иԥхьаӡоит Кан Кәарҷиа. К. Кәарҷиа игәаанагара ҵаҵӷәиркит ас еиԥш иҟоу аусура амҩаԥгаразы анормативтә зинтә актқәа рыҟамзаара азгәаҭаны. «Ари 10 шықәса раԥхьа иҟаҵазар акәын», - ҳәа игәы иаанагоит. Аексперттә фонд «Аамҭа» ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алхас Џьынџьал аҳәынҭқарра ахада идигалеит аҳәынҭқарра иатәуи хазхаҭалатәи абизнес иатәуи ари адгьыл аҳәаа ахьымҩаԥысуа еилкааны иаирбарц. Абасала, апартаментқәа рзы азакәан аҟны азакәан аҟны ари аҳәаа убаӡом ҳәа иԥхьаӡоит иара. Иара азакәан апроект, А.ЏЬынџьал игәаанагарала, атәылазы афеидара акәӡам, амилаҭтә еилазаара аԥсахразы ашәарҭара ацуп. «Ҳара 30 шықәса раԥхьа аиааира ҳгеит, ҳаҵамхаӡеит. Аха 30 -шықәсатәи адипломатиаҟны ҳара ахыхьчаратә позициа ҳақәныҟәоит. Ҳара есқьынгьы иҳадгыло, ҩызара ҳзызуа атәыла аӡбахә ҳамоуп, аха уи ҳхы ишԥаҳархәеи? Адипломатиатә жәыларахь ҳаиасроуп шьҭа, ҳара ҳазусҭцәоу ҳазхәыцроуп. Агьыс, ҳазусҭцәада, ҭыԥс иаанаҳкылои ҳара ҳадгылаҩ изы? Урҭ иазхарҵаз тәылоуп уаҳа акгьы…,», - иҳәеит иара. Афымцамчтә кризис аӡбаразы Џьынџьал ирыдигалеит АИА «Амшынеиқәафымцамч» ахадас аппозициа ахаҭарнак дарҭарц, уи ихаҭыԥуаҩы – атәыла анапхгараҟнытә иарҭо ахаҿы. «Ас еиԥш ала амаининг азҵаара аӡбара еиҳа лыҵшәа аиуеит. Рҩыџьагьы еидгыланы акриптовалиута арҳаразы иҟоу 100 000 аппарат инареиҳаны рхы иадырхәо афымцамч ахархәара ааныркылоит», - ҳәа агәра диргеит Алхас Џьынџьал. ААУ аекономикатә теориа акафедра аиҳабы Александр Страничкин иҳәеит аекономика ареформа азуразы аҽазышәарақәа егьырҭ анапхгаҩцәа зегьы рыҟны иҟан, аха еиҳа лыҵшәа змаз 1994 шықәсазы иҟаз ауп. Страничкин игәаанагарала афымцамч аҟны иҟоу ауадаҩрақәа амаининг ақәҵара иаԥсам. «Проблема хаданы иҟоу – ихаз, иажәыз афымца асистема ауп, уи иахҟьаны 500 млн кв сааҭ инареиҳаны иаҳцәыӡуеит. Атәылаҟны иҟаӡам атрансформатор хадақәа аиҵастанциақәа рҿы ирывагылоу аԥгаԥсатә трансформаторқәа. Аполитикатә партиа «Аԥсны» аилак алахәҩы Беслан Ачба игәаанагарала ҳазҭагылоу аамҭазы аекономикатә еиҭакрақәак ртәы аҳәара заацәоуп, избан акәзар, раԥхьа иргыланы, иҟазароуп иҭышәынтәалоу аекономикатә ҿиара амодель, уи ҳара ҳҿы аиҭакра аҭахуп. «Ҳҳәынҭқарра атәым инвестор изы хазхаҭалатәи аинвестициа адԥхьалара иаҳа иаҭахны иаԥхьаӡоит, убри аан иара атәылауа ирзоужьу маҷуп», - ҳәа игәы иаанагоит иара. Ихадароуп ҳәа иԥхьаӡоит атәыла аҩныҵҟа имаҷуи ибжьаратәуи хазхаҭалатәи абизнес адгыларазы агәызҭаҵаратә механизмқәа раԥҵара. Аилатәара иалахәыз аекономикатә усхк иадҳәалоу иактуалтәу егьырҭ азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит. Аслан Бжьаниа ари Акомиссиа аусуразы агәыӷра дуқәа шимоу атәы иҳәеит. «Ҳара аклассикатә знеишьа змоу реиԥш, иҷыдоу азнеишьақәагьы ҳҭахуп» - ҳәа ихиркәшеит иара. Иқәгылаз ражәалагалақәа ҳасаб рзуны, Аԥсны Ахада адҵа ҟаиҵеит ҳазҭоу ашықәс хәажәкырамза 14 ирхымгакәа Аусуратә гәыԥ аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩ иаҭаразы. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
https://presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/15407/
2024-02-24T19:23:44Z
<urn:uuid:e0e6efd3-f93e-44e6-b664-f29793faafd4>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.94
0.92
0.98
60
14,262
tlsh:T1DB21C4526A40CB4BC5B3C0499B918E356CC164438662B360CEC9F4B01646099EBFCD13EAFEE9164A74EB1521D162BB15A50AFDE9257E6EEB718204E16D3F38ED379437C2EE
Аслан Бжьаниа аспортсмен қәыԥш аиааира идиныҳәалеит, аспорт аҟны аԥхьаҟатәи аихьӡарақәа изеиӷьеишьеит. «Аферым. Уеихьӡарақәа ҳреигәырӷьеит. Иара убас ашкол аҿгьы аҵара бзианы иуҵалароуп»,- иҳәеит Аслан Бжьаниа, ахықәкы ацхәхьамҵра, аҽазҵәылхра, ахы агәрагара шаҭаху дазхьарԥшны. Ақәԥаҩ Ахада аҵара бзианы ишиҵало ала ажәа ииҭеит, иара убас аԥхьаҟатәи аицлабрақәа рҟынгьы иҟазара аарԥшра дшазхиоу иҳәеит. Абоксиор иазыҟаҵаҩ Ҭемраз Гьергьедаа Ахада иҭабуп ҳәа еиҳәеит ареспубликаҟны аспорт аҿиара иаиҭо адгыларазы. «Ари = таитәи абокс аҟны мацара акәӡам, егьырҭ ахкқәа рҟынгьы. Атәыла анапхгара аҿар реиҵааӡараҟны абас аҵак ду змоу ахырхарҭа ишазыҟоу аабоит. Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит»,- иҳәеит иара. Аиԥылара иара убас далахәын Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Асҭамыр Гьерхьелиа, АК «Гьаргь Аиааира зцу» анапхгаҩы Коба Гогохьиа. Аиԥылараҟны иара убас ишьҭыхын ареспубликаҟны абаҩрҵәыра аҿиараҟны иактуалтәу азҵаарақәа. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/16133/
2024-02-28T10:06:53Z
<urn:uuid:6efcd12e-d4a4-496b-9936-5b1f96d57367>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.85
0.86
0.95
14
2,554
tlsh:T19FE086517940CF4BD2B3C499EA528A3568D0180643723750CECEF4B55243088EAFCD13E3FBF8165BB8E74621C162F610B50EBDEA647DAAE3608241A63C3F38EC37643585AE
«Жәлабжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала апроект ҽыц аусура иалагеит. Уи хьӡыс иамоуп «Ани амаалықьи». Апроект аҧсуа ҭаацәарақәа рҿы ҿыц ииуа ахәыҷқәа ирызкыуп. Даара агәырӷьара зцу хҭысуп, аҭаацәараҿы ахәыҷы иира. Уи ҳара ҳфонд адгылара анаҭоит. Убри азыҳәан иҳархиеит аҳамҭақәа, ан лымаалықь иааӡараҿы ацхыраара лнаҭоит ҳәа хықәкыс иҟаҵаны. Уи еиднакылоит ахәы зҭарҵо аҧаҭлыкақәа, ацәымҳа, ашоурашәага, акремқәа уҳәа. Убри инаҷыданы, ахәыҷы ииашаны иааӡараҿы ан лхы иалырхәо ашәҟәы, ахәыҷқәа рзы аҧсуа шәҟәқәа, ахәыҷқәа рашәақәа зну адиск. Урҭ зегьы рхаҭабзиара ҳаракыуп, ан лзы ихәарҭоуп ҳәа ҳгәы иаанагоит. Ҳапроект иаҵанакуеит фымз рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа змо аҧсуа ҭааҵәарақәа. Аҟәа ақалақьи, Аҟәа раион инхо, ҿыц ахшара зауз аҭаацәарақәа, ас еиҧш иҟоу аҳамҭа роурц рылшоит афонд аофис аҟны. Ҳара ҳҭыӡҭыҧ: Аҟәа ақалақь, Пушкин имҩа 16, «Гәдоу-плаза» ахыбра, ахәбатәи аихагыла. Ҳреспублика егьырҭ араионқәа рҟны инхақәо рзы, афонд ахаҭарнакцәа, дара зҵазкуа араионқәа радминистрациақәа рахь инаргоит, апроект зықәныҟәо аҧҟарақәа заа иреилыркааны, нас аҭыҧаҟны ирзеихыршоит. Ҭаацәацыпхьаӡа уи роурц рылшоит ахәыҷы ииразы Аршаҳаҭгала. Адемографиеи Арепатриациеи Асоциалтә Статистика проектов «Ани амаалықьи» 10 . «Ани амаалықьи» ԥшьнызқьтәи аҳамҭа ианашьан Гостиев Лаван 5 . «Ани амаалықьи» 9 . Апроект «Ани амаалықьи» Гагратәи араион аҿы 4 . Леон Џьынџьал -апроект «Ани амаалықьи» азықьтәи ахәыҷы. 8 . Апроект «Ани амаалықьи» нагӡоуп Уарча ақыҭа 3 . Апроект «Ани амаалықьи» Гәдоуҭа араион аусура иацнаҵеит 7 . "Ани амаалықьи" ҩнызқьтәи аҳамҭа ранашьан Шьаҟрылаа рҭаацәа 2 . Апроект «Ани амаалықьи» аусура иацҵоуп Аҧсны араионқәа рҟны. 6 . Апроект «Ани амаалықьи» аусура иацнаҵоит 1 . «Ани Амаалықьи» апроект ала раҧхьатәи аӽамҭақәа рнапаҿы ирыҭоуп.
http://fondapsny.org/ab/ani-amaalyki
2024-02-21T12:16:27Z
<urn:uuid:c6f61b97-34a1-4280-b9ad-10a968330e09>
[]
[]
abk-Cyrl
0.91
0.8
0.98
10
3,197
tlsh:T131E173614904CF4FDAB3C596AA818A355CD01407D3B3A3218EC778784546199FAFCD13657BFD0A6660AF1011E226BA60BA1EACDC393DAFD7614241E07C2F35DD0BA972C6AE
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа «Ауарашзауад «Аҟәатәи» 70 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә даҭааит. Адныҳәаларатә шәҟәаҟны иҳәоуп: «Ҳаҭыр зқәу Амра Григори-иԥҳа, ҳаҭыр зқәу Ауарашзауад аусзуҩцәа»! Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит акрызҵазкуа ари ахҭыс – иахьа шәара иазгәашәҭоит 70-шықәсатәи аиубилеи! 1953 шықәсазы Аҟәа ақ. аҟны аусура иалагеит афатә ааглыхратә наплакы – «Ауарашзауад «Аҟәатәи». Азауад аԥызҵаз уи аусура аԥхьатәи амшқәа инадыркны ақәҿиарақәа раарԥшра иалагеит, аибашьра ашьҭахь ауадаҩрақәа шыҟазгьы, иахьагьы уи иамаз ахьӡ-аԥша мырӡкәа иааргоит. Омар Кәарҷиа ихьӡ иадҳәалоуп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, шамахамзар, ихырбгалаз анаплакы аиҭеира. Хамеигӡарада аколлектив имҩаԥнагоз аусура иабзоураны, иара илшеит иаанкыланы иҟаз аусура арҿыхара. Иахьа ари аус ацҵара шәылшеит, Шәара, Амра Григори-иԥҳа. Абас аҭакԥхықәра ду шәыжәҩа иқәлаз шәаҵамхакәа, Шәара ишәылшеит анаплакы еиқәырханы, иҭнажьуа аалыҵ ахаҭабзиара аиӷьтәрагьы, ахкы ацҵарагьы. Шәара ишәылшеит аус иазҟазоу анапхгаҩы иаҳасабала ашьақәгылара: иаԥышәҵеит зегьы бзиа еицырбахьоу ауараши агаз змоу арыжәтәқәеи рыхкқәа асовет аамҭазтәи арецептура шьаҭас ирыҭаны. Азауад аалыҵ ахаҭабзиара ҳаракы агәра ргеит аҭыԥантәи ахархәаҩцәа реиԥш, ареспублика иаҭаауа асасцәагьы. Иумбарц залшом, арҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟала ауарашзауад анапхгара имаҷымкәа Аԥсны атәылауаа усурҭа ҭыԥла реиқәыршәара шалшаз. Иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп иара убас иааиԥмырҟьаӡакәа ареспубликаҟны имҩаԥысуа еиуеиԥшым асоциалтәи агәыҳалалратәи проектқәа шәахьрылахәу. Иҿырԥшыгоу ҳтәыла анаплакы аколлектив зегьы ирыдысныҳәалоит аиубилеитә рыцхә. Шәнаплакы иазеиӷьасшьоит аизҳазыӷьара, аколлектив – ҳәоуеиқәшәарала аусура, анапхгара – агәамч, алшара зымҽхак дуу апроектқәа рынагӡараҟны. Аԥсны аекономикатә ҿиараҟны ллагаламҭазы Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа «Ауарашзауад «Аҟәатәи» адиректор Ануа Амра Григори-иԥҳа иланеишьеит аорден «Ахьӡ-Аԥша» III аҩаӡара. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/16054/
2024-02-28T09:08:22Z
<urn:uuid:ee9e1088-c446-444f-a996-64c1cad9f16c>
[ "footer", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.92
0.89
0.97
19
4,399
tlsh:T122887E918C40DF8BC6B3D459EB928A3568C15802476277A0CECAF1B11242099EFFCD03D6FFF9098B74DB1161D222BB10A64DFCEA257DAAD7709240A52D2F3CCD275936819F
Аԥсуа аҳра (абырз. Αμπχαζικό βασίλειο [Ампхазико басилеио], араб. المملكة الأبخازية [Алмамлакат ель-Абхазиа]) ма Аԥсҳара ма Аԥсуа хәынҭқарра — 8-тәи ашәышықәсазы еиҿкааз абжьарашәышықәсазтәи Алада Кавказтәи аҳәынҭқарра. Уи ашьақәгылара алыршахеит аԥсуа етнополитикатә еиҿкаарақәа: Абасгиеи, Аԥсилиеи, Миссиминиеи, Санигиеи Аносидаа рдинастиа амчра аҵаҟа реидкылара абзоурала. 8-тәи ашәышықәса аҩныҵҟала урҭ рымчра Мраҭашәаратәи Алада Кавказ зегьы иаларҵәан. Аԥсуа аҳра иалаҵан алазқәа рыдгьылқәа. Уи аныҟалаз арыцхәи ҟазшьас иамази рзы аспециалистцәа рыбжьара иахьагьы аимак ыҟоуп. Аԥсуа аҳра аиҿкаара иазку акт арбоуп «Қарҭлитәи ашықәсынҵа» зыхьӡу ақырҭуа ҭоурыхтә нҵамҭамҿы (11 ашәышықәса). Аԥсуа аҳра анаԥҵаз аамҭа иазкны еиуеиԥшым агәаанагарақәа шыҟоугьы, уи ахҭыс 8-тәи ашәышықәса 70-90-тәи ашықәсқәа рҳәаақәа ирҭаӡоит. 8-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы Аԥсуа аҳра аҳәаақәа наӡон аҩада-мраҭашәара аганахьала – Амшын Еиқәа иалало аӡ. Никопсис (ҳаамҭ. Нечеԥсухо, Ҭуаԥсе ааигәара аҳабла Новомихаиловски) ала; аҩада- мрагылара аганахьала - Кавказтәи ашьхеибаркыра Хада ала; алада-мрагылара аганахьала – Лихтәи (Сурамтәи) ашьхеибаркырала; алада Аԥсны аҳреи Византиатәи аимпериеи ҳәаас ирыман аӡиас Чорох. Қарҭли Аԥсны аҳра ианалала ашьҭахь уи мрагыларатәи аҳәаақәа аӡ. Арагви аҟынӡа инаӡон. Аԥсны аҳра алада-мрагыларатәи аҳәаақәа ырҭбаан Баграт II ихаан уи иалалаз ҭао-клареџьтәи адгьылқәа ирыбзоураны. «Қарҭлитәи ашықәсынҵа» ишаҳәо ала, Аԥсны ахада Леон II «абырзенқәа данрылҵ» ашьҭахь «аԥсуаа раҳ» ҳәа ахьӡ идикылеит. Аԥсуа аҳра аҳҭнықалақьс иҟаҵан Қәҭешь, аҩбатәи аҳҭнықалақьс иҟан Анаҟәаԥиа. Леон II иҳәынҭқарра шьақәгылан ахадаратә-ҵакырадгьылтә округқәа 8 рыла, еиҿкаан аибашьратә хәҭаҭыԥқәа: Аԥсуа, Цхәымтәи, Бедиатәи, Гәыриатәи, Аргвеҭтәи, Қәҭешьтәи, Шәаныуатәи, Рача-Лечхәымтәи. 806 шықәсазы Леон II идунеи аниԥсах ашьҭахь, Аԥсуа аҳра иахагылан иԥацәа хҩык: Феодоси II (806-825), Дырмит II (825-861), Гьаргь I (861-868). Урҭ аамҭақәа рзы Аԥсуа аҳра адәныҟатәи аполитикаҿы ҵакы хаданы иҟаз – Арабтәи ахалифати Византәиатәи аимпериеи рҿагылара ауп. Феодоси инапхгарала аԥсуаа аӡиас Ксан аҿы имҩаԥысуаз аибашьра иалахәын, еидыз арабцәеи акахьетинцәеи рыр ириааит. 853 шықәсазы Дырмит II напхгара зиҭоз аԥсуаа рыр Куецхобо аҭыԥ аҿы ицоз аибашьра иаҵахеит, акыр шықәса арабцәа рҿы аҟәада ршәон. Дырмит II ихаан Византиа акырынтә Аԥсны ахылаԥшра архынҳәразы аибашьратә еқспедициақәа хацдыркхьан. Аха урҭ лҵшәа рмоуит. 861 шықәсазы Аԥсуа аҳра дахагылеит Гьаргь I. Уи илшеит Алада Кавказтәи атәылақәа руакы – Қарҭли - Аԥсуа аҳра алаҵара. Аха Гьаргь 1-тәи иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь Аԥсуа аҳраҿы аҳ итәарҭазы ақәԥара иалагеит. Аҳ иԥҳәыс еиҿылкааз ачарҳәара иахҟьаны дырхәит аҳ иԥа еиҳабы Дырмит II, иашьа еиҵбы Баграт Византиаҟа дыбналар акәхеит. 867 шықәсазы Аԥсны дахагылеит Иоанн Шавлиани (Шавлиитәи). 20 шықәса дахагылан, нас аҳра уи иԥа Адарнас ишҟа ииасит. Убри аамҭа иалагӡаны Аԥсуа аҳра Қарҭли ахылаԥшра ацәыӡит. 9-тәи ашәышықәса 80-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсныҟа дхынҳәит Баграт. Византиатәи аҳ Васили I ииҭаз ар ихы иархәаны уи Адарнас дықәганы, закәанла иитәыз аԥсуа аҳра дахагылеит. 893 шықәсазы Баграт иԥа Константин III иааникылеит аԥсҳара. Уи илшеит иаб иҽыззишәоз Қарҭли архынҳәра. Аха уи згәамԥхаз аерманцәа раҳ Смбат ар ӷәӷәа иманы Қарҭли аҳҭны қалақь Улис-цихе амацәаз иҭеикит. Аԥсуааи аерманқәеи реиҿцәажәараан Константин дҳәынҷаны, Ермантәылаҟа дыргеит, аха нас даурышьҭит. Константин III илшеит Қарҭли ипозициақәа рырӷәӷәара. Аха анаҩстәи ашықәсқәа раан аҳра еимакны иҟаз ачарҳәарақәеи, ашьрақәеи, Аԥсуа аҳра иаҿагылаз агәыларатә ҳәынҭқаррақәа рабашьрақәеи ирхырҟьаны Аԥсуа аҳра аԥсыҽхара иалагеит. 1259 шықәсазы Аԥсуа аҳра еилаҳаит. Аԥсҳацәа рсиа[аредакциазура | акод аредакциазура] Аԥсҳацәа Аҳ Амчра аамҭа Ажәла Леон II 786 - 806 Ачаа Феодоси II 806 - 825 Ачаа Дырмит II 825 - 861 Ачаа Гьаргь I 861 - 868 Ачаа Иоанн 868 - 888 (ампыҵахалаҩ) Шавлиани Адарнас ? - 888 (ампыҵахалаҩ) Шавлиани Баграт I 888 - 893 Ачаа Константин III 893-922 Ачаа Гьаргь II 922 - 957 Ачаа Лауан III 957 – 967 Ачаа Дырмит III 967 – 975 Ачаа Феодоси III 975–978 Ачаа Баграт II (III) 978 – 1004 – 1008? Багратиони Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура] БИГУАА, Валери. Аԥсны аҭоурых (1921 шықусынӡа, иаазыркьаҿны). Аҟәатәи Атипографиа. Аҟәа. 1992. 130 д. О.Х. БГАЖБА, С.З. ЛАКОБА. "Аԥсны афеодалтә аамҭакәа аҿы". (2015, Аҟәа). онлаин. Азгәаҭақәа[аредакциазура | акод аредакциазура] Ахыҵхырҭа – https://ab.wikipedia.org/w/index.php?title=Аԥсуа_Аҳра&oldid=133585 Акатегориақәа: Арҽеиратә усурақәа:Афото Авикидыррақәа аҿы иҟаӡам Аԥсҳара Аԥсны аҭоурых Аҭоурыхтәи европатәи атәылақәа Аҭоурыхтәи азиатәи атәылақәа 786 шықәсазы ицәырҵит Ацыхәтәантәи аԥсахрақәа абри адаҟьа аҟны: 16:24, 1 абҵарамза 2023. Атекст ахьыманшәалоу Creative Commons Attribution-ShareAlike алицензиала иҟоуп; ахарҭәааратә ԥҟарақәа рылша рныруеит. Шәахә. Инарҭбааны шәахә. убас Ахархәаразы аԥҟарақәа.
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%90%D4%A5%D1%81%D1%83%D0%B0_%D0%90%D2%B3%D1%80%D0%B0
2024-02-24T12:40:55Z
<urn:uuid:6b145396-898d-4910-9257-3ebd63057ffd>
[ "footer", "short_sentences" ]
[ "liste_bu", "wikipedia" ]
abk-Cyrl
0.87
0.86
0.95
22
8,616
tlsh:T113219E029C40CB9BC6B3D1588E41A8395DE15C138162B230CED5F5B6165619DEBFCD03D6FAEC194B749F0123C253AB145A4AFCEA247DAECB308340956E2F29DD23D836E6DE
Европейский Союз в действии: работая на благо более безопасной Европы и более стабильного мира (субтитры на абхазском) Один день из жизни наблюдателя (субтитры на абхазском языке) Аимадара English / ქართული / Русский / Ирон / Аҧсуа / հայերեն / Azərbaycan / Ихадоу Ҳара иҳазкны Амандат Амандат Ҳара Евроеидгыла абџьар змам ауаажәлартә анаҧшҩцәа рмиссиа ҳауп. Ҳара ҳмиссиа 2008 шықәса цәыббра мзазы, Евроеидгыла абжьаҟазарала фпункт иҟоу аиқәшаҳаҭра рнапы анаҵарыҩы аамышьҭахь арахь ҳаашьҭын. Ҳара ҳприоритетқәа: Аибашьратә ахҭысқәа рырҿыцра аҽацәыхьчара ацхыраара азура; Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи администрациатә цәаҳәа аҩганк азааигәара инхо ауаа ршәарҭадареи, ибзиоу аҧсҭазаара рзышьақәыргылареи; Еиҿагыло аганқәа рыбжьара агәрагара аиҭашьақәыргылара; Қырҭтәылеи, арегионқәеи ирызку Европатәи аполитика аҳәаақәҵаратә аилазаашьақәа адырра рыҭара. Амиссиа аусура анагӡара ианалага инаркны инанагӡоит 24 сааҭтәи аҧыҧшра, иҷыдоу азҿлымҳара Аахыҵ Уаҧстәылеи, Аҧснытәи административтә ҳәаақәа рзааигәаратә аҭыҧқәа ирзыруеит. Амиссиа аҟны 200 ҩык анаҧшҩцәа аус руеит Евроеидгыла иалахәу еиуеиҧшым атәылақәа рҟнытә. Ҳара ҳофис хада Қарҭ иҟоуп, егьырахь арегионалтә аофисқәа – Гори, Мцхеҭеи, Жәыргьыҭи. Ҳара ҳмандат амч амоуп Қырҭтәыла аҵакырадгьыл зехьынџьара. Аха Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи де-факто аиҳабыра ахаҭарнакцәа иахьанӡагьы дара зхылаҧшуа аҭыҧқәа рахь анеира азин ҳарҭом.
https://www.eumm.eu/ab/about_eumm/mandate/
2024-02-26T07:32:43Z
<urn:uuid:116d93bf-d449-4c15-a886-d232c414ae9e>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.8
0.64
0.97
14
2,519
tlsh:T1F008EC515584CB4BC1B3D4A9CA814F346CE2695382117671DD8EB8B21185059EFFCC139ABEE8011BB0EB1911D222BF00690AECDA687DBBE7B04210B16E3E39D9235576C56E
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инарҭбааны аилацәажәара мҩаԥигеит Ахада Иадминистрациа, Аиҳабыра рнапхгара, ақалақьтәи, араионтәи администрациақәа рхадацәа, апарламенттә еилакқәеи аӡбаратә еилазаареи рнапхгаҩцәа алархәны. Аилацәажәараан аҳәынҭқарра Ахада аиԥылара иалахәыз Урыстәылатәи Афедерациахь иусуратә ныҟәара алҵшәақәа рылеиҳәеит. Иара убас аилацәажәараҟны иахцәажәеит афымцамчтә шәарҭадареи аекономикаҿы иактуалтәу азҵаарақәеи. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/16112/
2024-02-28T09:46:23Z
<urn:uuid:fac6f646-321c-472d-a2a0-2706991073be>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.78
0.8
0.94
10
1,684
tlsh:T1FC782D316840EB8BC6B3C4AADA424E34ACC1684605627760CF89B5B10782049EBBCC13D6BBE5254B64EB0506D196BA21A90DFDE9257DAAC7304242A12C3F78DD37947685DE
ЕАШ аҳәынҭдепартамент иаланарҵәаз Атерроризм аҿагылара иазку 2022 шықәсатәи аҳасабырбаҿ Қырҭтәыла аӡбахә ҳәоуп - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа ЕАШ аҳәынҭдепартамент иаланарҵәаз Атерроризм аҿагылара иазку 2022 шықәсатәи аҳасабырбаҿ Қы... Иҵегь аҭагалара ЕАШ аҳәынҭдепартамент иаланарҵәаз Атерроризм аҿагылара иазку 2022 шықәсатәи аҳасабырбаҿ Қырҭтәыла аӡбахә ҳәоуп 09:41, 02.12.2023 ЕАШ аҳәынҭдепартамент Атерроризм аҿагылара иазку 2022 шықәсатәи аҳасабырба аланарҵәеит, аҳасабырбаҿ атерроризм аҿагылара ахырхарҭала атәыла цыԥхьаӡа ахәшьара аҭоуп . Аҳасабырбаҿ Қырҭтәыла ЕАШ иӷәӷәоу партниорс иазгәаҭоуп. Адокумент аҿы ишану ала, Қырҭтәыла амч роуит 2022-2026 шықәсатәи амилаҭтә антитеррористтә стратегиеи ауснагӡатә плани, атерактқәа ирызку имцу адыррақәа раларҵәаразы ақәҿыҭра џьбарахеит. Иара убас, адокумент аҿы ишану ала, Қырҭтәыла аҳәаақәеи амшынтә шәарҭадареи реиӷьтәразы жәларбжьаратә зыҟаҵарақәеи ЕАШ имҩаԥнагоз атренингқәеи ирылахәын. Адокумент аҿы ишазгәаҭоу ала, Қырҭтәыла атеррористтә инцидентқәа раарԥшреи, раанкылареи, рықәҿыҭреи алшоит, аҳасабырбаҿ иконкрету афактқәагьы аагоупю „Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура атероризм иадҳәалоу аинцидентқәеи аусԥшаарақәеи рхырхарҭаа егьырҭ аусҳәарҭақәа рҟны аусеицуразы азин наӡа амоуп, урҭ иреиуп Аиустициа аминистрра, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, Атәылахьчара аминистрра, апокуратура, жәларбжьаратә партниорцәа. Қырҭтәыла аҳәаатә полициеи аҟәарахьчареи зкомпетенциа ҳараку, ибзианы еиҿкаау усҳәаҭақәоуп”, -иануп ЕАШ аҳәынҭдепартамент Атерроризм аҿагылара иазку 2022 шықәсатәи аҳасабырба аҿы. АПОЛИТИКА атерроризм Атерроризм аҿагылара иазку аҳасабырба ЕАШ 8 Еиҧшу ЕАШ асенат Израили Украинеи рыцхыраара апакет азы аиқәшаҳаҭра адгылеит Израиль Адәныҟатәи аусқәа рминистр - ЕАР палестинатәи ахҵәацәа рыцхыраара агентра афинансыркра аанкылара иазкны ЕАШ аднакылаз аӡбара ҳақәшаҳаҭуп ЕАШ асенат аҿы Урыстәыла активқәа рконфискациа иазку азакәан иадгылеит Пентагон аинформациала, ЕАШ-и Британиа Дуи Иемен, "ахуситцәа" ааробиектк рганахьала ажәылара мҩаԥыргеит Џьо Баиден - ЕАШ Таиван ахьыԥшымра адгылом Џьон Кирби - Урыстәыла иаҿагыланы аибашьраҿ Украиназы ЕАШ ацхыраара аамҭала иаанкылоуп Аҩны шкәакәа агәашә амашьына ажәлеит Меҭиу Миллер - ЕАШ 2022-2023 шықәсқәа рзы иҟаз аҩаӡараҿ Украина ацхыраара азаанарԥшуам, избан акәзар хықәкыс иҳамоуп Украина ахатә арратә-ааглыхратә база аргылараҿ ҳацхраарц "Амилаҭтә ҵысра" аҟынтә ишаарыцҳаз, Леван Хабеишвили визитла ЕАШ-ҟа ддәықәлеит Амш зеиҧшрахо 10° амҽ Қaрҭ ашә 11° аҩ 14° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Мамука Мдинараӡе - Зегьы еилышәкаар сҭахуп, Саакашвили амодернизациа асимвол аҳасабала ихәаҧшра ақырҭуа уаажәлар рыгәҭа антиевропатәи агәалаҟазаарақәа азнарҳауеит Иракли Кобахиӡе - Гурам Габескириа ихьӡ ҳареи игыло абиҧареи иаҳзаанхоит аҧсадгьыл азгәыкреи, аҟәышреи, ақәҧаратә ҟазшьеи аҿырҧштәы аҳасабала Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа Қарҭи арегионқәеи рҿы анаркоацәгьауразы жәаҩык ааныркылеит Урыстәыла Одессазы имҩаҧнагаз авиажәылара амшала аихагыла рацәа змаз ахыбра еилаҳаит, иҧсыз ауаа иҟоуп
https://1tv.ge/lang/ab/news/eash-ahmn%D2%ADdepartament-alanarcaz-aterrorizm-atchvagmlara-iazkw-2022-shmqsati-ahasabmrbatchv-qmr%D2%ADtmla-adzbax-howp/
2024-03-03T06:21:31Z
<urn:uuid:16a70b22-f32f-47c8-a717-83e9b768e472>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.92
0.6
0.96
50
5,923
tlsh:T162EEE1C18A40DB0BC573C058CA418A352DD2690B9321B270CED9F4B56746059FFFCC129AF9EC1A0E34AB1A11D1A2BF026909FCD669BEBFE7709200A56E2E34E9379476D59F
Владимир Путин Аслан Бжьаниа аҧсшәа иаҳәо, Аҧсны жәлар Аиааира 30 ш. ахыҵреи Ахьыҧшымра жәларбжьаратәи азхаҵара 15 ш. ахыҵреи рыдиныҳәалеит. "Уажәааигәа ааигәа Аҧсны ҩ-ныҳәак азгәашәҭеит - Аиааира амши Ахьыҧшымра азхаҵара амши. Иааидкыланы ҳара ҳаҟны аҭагылазаашьа бзианы имҩаҧысуеит - иҳаҩсыз ашықәс азы атауареикәшара аизҳара иартәеит 73%. Урыстәылатәи Афедерациаҟны 64 регион инареиҳаны еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла Аҧсны аусеицзура иадгылоуп , 200 инареиҳаны ҳзеиҧш наплакқәа аус руеит, - иҳәеит В. Путин. Аслан Бжьаниа Владимир Путин иҭабуп ҳәа иаҳәо, иаҵшьны иҳәеит Аҧсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа аҵыхәтәантәи аамҭазы еиҳа мҽхакы ҭбаала аҿиара иалагеит, имҩаҧысуеит ахырхарҭақәа зегьы еинырнааланы рыҿиара апроцесс, уи акырӡа иацхраауеит аҳәынҭқаррақәа рзеиҧш социал- економикатәии атәылахьчаратәи еизыҟазаашьақәа реизааигәатәра аус. Иара убас Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Владимир Путин иҭабуп ҳәа иеиҳәеит ҩ-тәылауаҩрак риуразы аиқәшаҳаҭра инапы ахьаҵаиҩыз азы. "Ҳара иаҳҭахуп ҳдокументқәа ирну аиқәшаҳаҭрақәа рықәныҟәара. Иаҳҭахуп урыстәылатәи аган иаҧшьнаго аинтеграциатә процессқәа рыҽрылархәра, избан акәзар урҭ Аҧсны аинтересқәа шьаҭанкыла ирықәшәоит. Ҳара ҳзы уи акырӡа аҵанакуеит",- иҳәеит Аҧсны Ахада. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/16003/
2024-02-29T07:23:11Z
<urn:uuid:0fa46ee2-42fc-478b-8dc9-e696daec4ef3>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.88
0.83
0.96
12
3,117
tlsh:T17D54FF516940DB4BC2F3C499DB915A35A890644742767260CECAF5B22746059FBFCC02E6FAF8198BB4DB1611D162BA10A90EADDA247EEED334A204A57C2F78DC335478C26E
Аҳаԥшьа иҧшьоу, зымч дуу аҵакы аманы иубоит. Ҳаамҭазгьы иара ахархәара шыҭбаац иаанхоит уҳәар ҟалоит. Иарбанзаалак аныҳәара амчрагьы аԥшьарагьы харҭәаахоит... 14.04.2019, Sputnik Аҧсны 2019-04-14T18:41+0300 2019-04-14T18:41+0300 2019-04-14T18:51+0300 https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102629/15/1026291533_0:52:1000:615_1920x0_80_0_0_54820d7cfce0e1cb7aea71aa20a28645.jpg Sputnik Аҧсны firstname.lastname@example.org +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 2019 Sputnik Аҧсны email@example.com +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 Ажәабжьқәа ab_AB Sputnik Аҧсны firstname.lastname@example.org +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 1920 1080 true 1920 1440 true https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102629/15/1026291533_56:0:945:667_1920x0_80_0_0_2af7c97152f562b6b6b0a9901fb74bd7.jpg 1920 1920 true Sputnik Аҧсны email@example.com +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 Sputnik Аҧсны жәлар рдоуҳа, аԥсны жәлар рдоуҳа, аԥсны Аҳаԥшьа – аныҳәагатә иадыргало "инымҵәаӡо аҩы" 18:41 14.04.2019 (ирҿыцуп: 18:51 14.04.2019) © Sputnik / Томас ТхайцукАҳаҧшьа © Sputnik / Томас Тхайцук Анапаҵаҩра Аҳаԥшьа иҧшьоу, зымч дуу аҵакы аманы иубоит. Ҳаамҭазгьы иара ахархәара шыҭбаац иаанхоит уҳәар ҟалоит. Иарбанзаалак аныҳәара амчрагьы аԥшьарагьы харҭәаахоит иара изыхныҳәо ҳәа иадыргало аҳаԥшьа-ҩы ала. Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik Аҳаԥшьа – аҧсуа итрадициатә культураҿы иалкаау аҭыԥ змоу бзазаратә маҭәахәуп. Аԥсуаа жәытәнатә аахыс хыԥхьаӡарала ирацәаны аҳаԥшьақәа рзыҵан. Иахьагьы шамахамзар акы, ҩба ракәзаргьы аҳаԥшьақәа ззыҵоу анхацәа маҷҩым. Дара ажәытә ҳаԥшьақәа иахьа хархәара зрымҭо ыҟазаргьы, иԥҽхьо, иԥхасҭахахьо акәзаргьы, икамыжькәа, иааныжьны, хазы идыргылоит. Ашьакаҭәара аҵакы аԥсуа традицаҟны, мамзаргьы шьала иҿыхыу Аҳаԥшьа ахылаԥшра ҷыда амазароуп. Уи ицқьаны иныҟәыргоит. Аҩы цқьа ҭаҭәаны иҟарҵоит. Аҳаԥшьақәа лымкаала ныҳәагатәык иазкны ирымоуп. Аныҳәагатәқәа еиуеиԥшым аҟынтәи аҳаԥшьақәагьы хаз-хазуп. Иалкаау аныҳәагатә иара иазку аҳаԥшьа ыҟоуп. Иара ааигәа шамаха аҳәса нарышьҭӡом. Уи иадгыло ахацәа роуп. Аҳаԥшьа аҩны азааигәара, адгьыл ҭыжааны, аҩы цқьа ҭаҭәаны иҵарҵоит. Аҵарауаҩ Римма Ҳашба ажәа "аҳаԥшьа" аетимологиа азуа иазгәалҭоит иара ажәа ашьагәыҭ аҟны "иԥшьоу" акы аҵакы аанарԥшуеит ҳәа. "Ҳа" - "ахаҳә" (анышәаԥшь) аанагоит, "ԥшь" - "аҟаԥшь" (аԥшшәы аанарԥшуеит) – еидкыланы иаҳҳәозар, "иҟаԥшьу ахаҳә (анышәаԥшь)" ауп иаанаго ҳәа лыҩуеит аҵарауаҩ. Аха араҟа иаҳа ииашахоит ҳәа азгәалҭоит егьи аҵакы: "ԥшьа" - "иԥшьоу". Убас еиҧш аполисемантикатә ҵакы аманы иҟоуп ашьаҭа "ҳа". Уи даҽа ҵакык ала уахәаԥшуазар, "аҳ", "аду" (Анцәа), мамзаргьы "ахылҵшьҭра" (предок) аанагоит. Аинформантцәа ишазгәарҭо ала, алаҳа абӷьала ихырҩон аҳаҧшьа. "Аҩы ҭеиҭәон, алаҳабӷьы хеиҩон, нас хыхь ас игьежьӡа иҟаз ак лахаҵаны ачуан иҵеиҳәон. Абас асалафан ахы иҭарҧаны, ҧсыҧк ҭамларазы ицқьаны. Уи ицқьаны иныҟәугозароуп. Уцәымзақәа аркны унеироуп, уахныҳәароуп. Абри уҭаҧшыр, аҧҳәыс лзыҳәан аҳаҧшьа уахҟьар, еснагь уеимҳәалоит ҳәа аҭаца уахь ааигәагьы днеиӡомызт" (НААР архив аҟнытә, апаспорт ацӡам). Аҿиара, аизҳара иатәуп: аԥсуаа имҩаԥырго Амшаԥы аҷыдарақәеи атрадициақәеи 19 Мшаԥы 2020, 09:47 Аҧсуа мифологиаҟны иаҳҧылоит убас еиҧш аҳәамҭақәа нҵәара зқәым, еснагь ҩыла иҭәу аҳаҧшьа иазку. Урҭ асиужетқәа ишаҳдырбо ала, аҩы ҭызго аҧшәма дыҟамкәа аҩнаҭахьы асас даннеи, аҧшәмаҧҳәыс аҳаҧшьа аҩы ахьҭылгаз аҟынтәи еснагь иҭәыз аҳаҧшьа уинахыс аҩы иҭаз аанҵәеит. Мамзаргьы даҽа вариантқәак рыла: асас иџьашьаны "уара абри уҳаҧшьа иахыухцыҧхьаӡа иагхаӡом аҩы, изакәызеи ари нҵәара ақәымкәа" ҳәа данҵаалак, аҩы ҭабоит. Даҽакала иуҳәозар, зыҟаҵара ҟамлоз аилагара иахҟьаны абеиара, амарымажарагьы цоит. Аҧсуа жәлар репос аҟынгьы иаарҧшуп аҳаҧшьа иазку адыррақәа. Нарҭаа ашәҩык ирзеилаз аҳаҧшьа Ҩаӡамакьаҭ ахьӡын. Уи знык азна андырҭәлак акыр шықәсқәа ирызхон, избанзар заҟа ҭыртоз аҟара аҩы ҭалон. Аишьцәа аиҿыҵра ианалага, абри аҳаҧшьа рзеимакырахеит. Хаала ианзеилымга, Сасрыҟәа дгәаан, шьацәқәыҧла дласын, иҵижәеит. Аҳаҧшьа аҵа ажьжәла иҭаҧсаз ақыҭақәа иахьрылаҧсаз аҟынтәи ауп Аҧсны ажьжәла зхылҵызгьы ҳәа еиҭарҳәоит. Аԥҳалқәа, аҟәџьалқәа, аҳаԥшьақәа ажәытәла рыҟаҵашьа Аҳаҧшьа аныхдыртуа ихадароу аныҳәарақәа иреиуоуп ажьырныҳәа, амшаҧы. Иара убас аҳаҧшьа-ҩы ала иныҳәоит еиуеиҧшым егьырҭ аныҳәарақәа раангьы. Ашәҟәыҩҩы Баграт Шьынқәба ианҵамҭақәа рҟны иаагоуп ахәыҷы аҳаҧшьа дахаргыланы иныҳәара Ҧақәашь ақыҭа инхоз 102 шықәса зхыҵуаз, Бардыӷә Ҭаниа иҟынтәи, 1948 шықәсазы ианҵаз: "Ахәыҷы аҳаҧшьа длахаргыланы, агәыи агәаҵәеи аҵәы илахаҵаны, саарак азна акәац алҩаҵә ахҟьа илаимҵаргыланы, абас аныҳәара далагон ажәытә: Ақәаб акныхра – ажьрацәара рныҳәара 9 Ԥхынҷкәын 2018, 16:54 Уа, Анцәа ҳазшаз, абас суҳәоит: Абри зшаз аашак уцишааит, Уаашак ааилаҳәарак рхоуҵааит, Уааилаҳәар, аа-ҳҭныҳәсак адургылааит. Уаа-ҳҭныҳәсак аа-ҳҭырҧарк рыдургылааит, Абахә цәгьа уаҿахан – уаҿызгеит, Убри мап зҳәара, иан лырбаӷь заҵә Икьыкьуа иқьамҭажә иқәхааит, Ибарҵа цәаҟәа тәарҭахааит" ("Ахьырҵәаҵәа", 1990). Аӡы иҭоу, мамзаргьы ацәҵыхәа аӡы аныҭнаго Абас еиҧш ала, аҳаҧшьа иҧшьоу, зымч дуу аҵакы аманы иубоит. Ҳаамҭазгьы иара ахархәара шыҭбаац иаанхоит уҳәар ҟалоит. Иарбанзаалак аныҳәара амчрагьы аҧшьарагьы харҭәаахоит иара изыхныҳәо ҳәа иадыргало аҳаҧшьа-ҩы ала. Иара хымҧада аныҟәгашьеи аҵәахышьеи иаадырҧшуеит аҧшьара анаҩс, апрактикатә ҵакгьы.
https://sputnik-abkhazia.info/20190414/Aasha--anyagat-iadyrgalo-inymao-ay-1027091156.html
2024-03-05T01:18:51Z
<urn:uuid:4809dec7-87c7-4e2c-bc24-545920efe265>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.89
0.67
0.91
45
8,967
tlsh:T14007F8028A44CB4BCBF3D549DB9285327DD0540243737270DECAF4B919450A9FBFCD12AEEAE80649B4DF2125D0A2BB20640EEDEA593DBBD371D200A4683F35CD26A976C69E
Адепутатцәа «Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент аҟнытә Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума ашҟа Аԥс... 29.01.2024 Аԥсны ААК Апарламент ахь ажәалагала ҟанаҵеит «Аԥсны Аҳәынҭқапрра Ахада иалхрақәа рзы» Азакәан аԥсахр... 29.01.2024 Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны имҩаԥысит атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак аилатәа... 24.01.2024 Имҩаԥысит Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиақәеи рзы аилак инарҭбаау аил...
https://parlamentra.org/ab/novosti/
2024-02-24T12:36:22Z
<urn:uuid:ef6260c2-125d-4f75-9ca0-662d579e2748>
[]
[]
abk-Cyrl
0.95
0.67
0.99
6
804
tlsh:T13FF21F012640CF5BD4B7D0589DD28D32ADC668135070B3B4CDD9B170064214AEBACC12E97964158B28EB0162E402BA56FA1EFFF470BC2F9332852A907D1F30E63E543291DD
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра «аоккупациа ахыхрази» аурыс-қырҭуа еимак ҭынчмҩала аҭышәныртәаларази арезолиуциа «аԥсҭазаара иаҟәыгоу, аԥсуа-қырҭуа еиҿагылара амзыз еиҭазкуа» акоуп ҳәа азгәанаҭеит. 29.07.2021 1741 Аҳәамҭақәеи ақәгыларақәеи Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҽазыҟаҵарақәа Agile Spirit ахҳәаа рнаҭеит Есышықәса НАТО имҩаԥнаго арратә ҽазыҟаҵарақәа Agile Spirit 2021 Қырҭтәыла иалагеит сынтәа ԥхынгәы 26 азы. Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп 2,5 нызқьҩык рҟынӡа аррамаҵзурауаа алианс атәылақәа 15 рҟынтәи– Азербаиџьан, Великобританиа, Германиа, Қырҭтәыла, Испаниа, Италиа, Канада, Латвиа, Литва, Польша, Румыниа, ЕАА, Ҭырқәтәыла, Украина, Естониа. 27.07.2021 344 Даур Ақаҩба ХII Жәларбжьаратәи аекономикатә саммит «Россия — Исламский мир: KazanSummit 2021» далахәхоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба ХII Жәларбжьаратәи аекономикатә саммит «Россия — Исламский мир: KazanSummit 2021» далахәхоит. Асаммит мҩаԥысуеит 2021 шықәса ԥхынгәы 28-30 рзы, Ареспублика Ҭаҭарсҭан аҳҭнықалақь Казань аҿы. 20.07.2021 567 Украина ахада ақырҭуа-аԥсуа ҳәаахь иаара ахҳәаа азнауит Аԥсны ААР 2021 шықәса ԥхынгәы 19 азы Украина ахада Владимир Зеленски усутә визитла Қырҭтәыла иҟазаараан ақырҭуа-аԥсуа ҳәаахь днеиит. АИХқәа рдыррала Зеленски «аоккупациа зызуу Аԥснытәи автономтә республика аҳәааҿы ашәарҭадаратә усхк аҭагылазаашьа гәеиҭеит», агәҭынчымра ааирԥшит «Аԥсны Урыстәыла ар рыҟазаареи ауаҩытәыҩса изинқәа реилагареи» рзы. Уи адагьы Зеленски иҳәеит Украинеи Қырҭтәылеи рхықәкқәа еиԥшуп аамҭала аоккупациа зызуу аҵакырақәа рырхынҳәразы ҳәа. 15.07.2021 423 Даур Ақаҩба усутә визитла Никарагуаҟа амҩа дықәлеит Ԥхынгәы 15 2021 шықәсазы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба усутә визитла Ареспублика Никарагуа днеиит. 05.07.2021 405 Анотақәа Боливариантәи ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә шәҟәы азышьҭуп Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра Боливариантәи ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит ахьыԥшымра Амш инадҳәаланы. 01.07.2021 465 Анотақәа Даур Ақаҩба Витали Игнатьев дидныҳәалеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Приднистровиатәи Молдавиатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ашьаҭаркра Амш идиныҳәалеит Приднистровиатәи Молдавиатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатьев. 30.06.2021 840 Женеватәи аиҿцәажәарақәа Аԥсны ААР аҿы изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа рымҩаԥысшьа иалацәажәеит Женева имҩаԥысит Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 53-тәи рраунд. Иара иалахәын Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Қырҭтәыла, Урыстәыла, ЕАА рхаҭарнакцәа, ацхантәаҩцәа –ООН, ЕС, ОБСЕ. 26.06.2021 618 Аҳәамҭақәеи ақәгыларақәеи Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Қырҭтәыла аԥыза-министр И. Гарибашвили иҳәамҭа ахҳәаа анаҭеит. 25.06.2021 470 Аҳәынҭқарратә ҳәаа аделимитациазы Акомиссиа аусура мҩаԥысит Аҳәынҭқарратә ҳәаа аделимитациеи амшынтә ҵакырақәа реиҟәыҭхареи ирзырхаз Аԥсныи Урыстәылеи ркомиссиа аԥшьбатәи аиԥылара хыркәшахеит. 24.06.2021 571 Анотақәа Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Венесуелаҟа адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Боливариантәи ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит Карабобо амҵан аибашьраан игаз аиааира 200 шықәса ахыҵра инамаданы. 24.06.2021 517 Анотақәа Даур Ақаҩба амаҵзура «Россия сегодня» аколлектив дрыдныҳәалеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура «Россия сегодня» ашьаҭаркра 80-шықәса ахыҵра аколлектив ирыдиныҳәалеит. 21.06.2021 530 Аҳәамҭақәеи ақәгыларақәеи Қырҭтәыла иаԥнаҵаз аиҳабыратә комиссиа ахҳәаа арҭеит Аԥсны ААР аҿы Аимакқәа ҭынчмҩала рҭышәныртәаларази аҳәынҭқарратә стратегиа аус адуларази акомиссиа аԥырҵеит Қырҭтәыла рашәара 21 азы. Уи хықәкыс иамоуп ари азҵаараҿы иаку амилаҭтә знеишьа ашьақәыргылара. Апроцесс иалархәхоит аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи аграждантә уаажәларреи. 15.06.2021 410 Аҳәамҭақәеи ақәгыларақәеи Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа 2021 шықәса рашәара 14 азы Бриуссель имҩаԥысыз НАТО асаммит аҟны икьыԥхьын Аҩадатлантикатә алианс азы иактуалу ашәарҭарақәа зныԥшуа аҳәамҭа. 12.06.2021 497 Анотақәа Даур Ақаҩба Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров дидныҳәалеит Урыстәыла Амш инамаданы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров дидныҳәалеит. 09.06.2021 884 Аминистр имҩаԥиго аиԥыларақәа Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит аиԥылара 2021 шықәса рашәара 9 азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа: Тоиво Клаари, Джихан Султаноглуи, Аахыҵ Кавказ иҟоу ОБСЕ ахантәаҩы ихаҭарнак ҷыда Анника Сиодери рԥылара. 06.06.2021 702 Анотақәа Даур Ақаҩба Хорхе Альберто Арреаса Монсеррат имшира идныҳәалеит Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр Хорхе Альберто Арреаса Монсеррат имшира идныҳәалеит. 04.06.2021 791 Анотақәа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоган, Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Гарибашвили Ҭырқәтәыла иҟазаараан «Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәылеи реимак ҭынчымҩала аҭыԥ иқәҵатәуп Қырҭтәыла акзаара аҳәаа иҭагӡаны» ҳәа ииҳәаз оумашәа ибаны иазхьаԥшит. 29.05.2021 486 Анотақәа Аԥсны ААР Аахыҵ Уаԥстәыла ААР адныҳәаларатә шәҟәы азынанашьҭит Аахыҵ Уаԥстәыла ахьыԥшымраз Акт адкылара 29-шықәсаахыҵра амш азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә шәҟәы азынанашьҭит Аахыҵ Уаԥстәыла ахьыԥшымраз Акт адкылара амшаз 29.05.2021 555 Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Шьамтәылатәи Арабтә республика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы ашьҭит Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Шьамтәылатәи арабтә республика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы ашьҭит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи арабтә республикеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәгылара х-шықәса ахыҵра инадҳәаланы.
http://mfaapsny.org/allnews/?PAGEN_1=25
2024-02-22T10:37:34Z
<urn:uuid:a4699096-fc32-4d20-aaca-6a8ac1cb8596>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.92
0.79
0.99
52
11,046
tlsh:T1272989328C08DA9FC573D0589AA29C365DD0A95B9270B231CF95F5B0275214DEBBCD13EAF5AC198B749B1652D682AF001B0FFDEA247D3FC3708210A16E1E28ED379436C6DE
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин Имшира идиныҳәалеит. Адныҳәаларатә текст аҟны иҳәоуп: «Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Шәымшира! Шәара шәгәамч, шәус азнеишьа аԥышәа змоу адипломат, аҳәынҭқарратә усзуҩы ихаҿсахьа аанарԥшуеит. Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа Шәара шәнапхгарала аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара аус аҟны алагаламҭа дууп. Еиуеиԥшым аусхқәа рыҟны ҳтәылақәа русеицура есааира иҿиоит, уи, ҳәарада, Шәара ишәыбзоуроуп. Ҳаҭыр зқәу Алексеи Аркади-иԥа, ишәзеиӷьасшьар сҭахуп агәабзиара, аҭынчра, акрызҵазкуа адипломатиатә миссиаҟны аихьӡарақәа».
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/13477/?print=Y
2024-02-29T15:37:41Z
<urn:uuid:a52d3512-ff4d-42d7-904b-ba0546788574>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
1
1
1
7
1,276
tlsh:T141B809213B94AF8BCA73C0594D830A3179C105928A627270CEC6F1B46786099EFBCD0396FDE5044A78D71660D2926F14F54EEDE974BDBFC7709204A0283F78EA37957580DF
1992 ш. ҳажәлар еиҳа иуадаҩыз аамҭа ианҭагылаз, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашыкьымҭазы Владислав Арӡынба инапхгарала иаԥҵан Аҳәынҭқарратә атәылахьчаратә хеилак. Аамҭа кьаҿк иалагӡаны раԥхьатәи аибашьратә қәҿиарақәа аарԥшын, уи аԥхьаҟа Аԥсны Аҳәынтҭқарра Атәылахьчара Аминистрреи Аштаб Хадеи раԥҵареи иацхрааит. Аибашьра анаҩстәи аамҭа иаҳнарбеит ари ашьаҿа ианаамҭаз, ииашангьы ишыҟаҵаз. Аԥсны Аҳәынҭқарра ақырҭуа агрессорцәа ирҿагыланы ақәԥараҟны иагаз Аиааира Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа раԥҵаразы ирыдыркылаз азыӡба шхымԥадатәыз шьақәнарӷәӷәеит. Аибашьраҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбьар мчқәа рсолдаҭцәеи рофицерцәеи хьӡи-ԥшеи рыманы еибашьуан. Дарбанзаалак урҭ рахьтә агәымшәареи ахамеигӡареи аазыршԥшыз аибашьратә ҳамҭақәеи Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳараки иаԥсахеит. Ҷыдала, иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп адҵаҟаҵаҩцәа, Атәылахьчара Аминистрреи Аштаб Хада аԥҵареи рхыҵхырҭаҿы игылаз, рыхьӡ ҳтәыла аҭоурых наунагӡа ианызаауеит Аԥсадгьыл ахьчаразы арратә уалԥшьа анагӡараан иҭахаз зегьы. Абри амш аҽны иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп Арбџьар мчқәа рветеранцәа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иаадырԥшыз агәымшәаразы, аибашьра ашьҭахьгьы Аԥсны аиҭашьақәыргылареи аҿиареи амҩа иананыз Аԥсадгьыл амаҵ азызуаз зегьы. Ҳазҭагылоу аамҭазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа ҳтәыла ахьынӡанаӡааӡо аҭынчреи, ашәарҭадареи ирхылаԥшуеит. Аҳәынҭқарра аринахысгьы азҿлымҳара ду анаҭоит Арбџьар мчқәа рыҿиареи рырӷәӷәареи. Агеополитикатә цәырҵрақәа ҳгәаҳҽанырҵоит атәылахьчара арӷәӷәара шаҭаху азы. Арбџьар мчқәа рхатәы еилазаара абџьарла реиқәыршәаразы иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит, иаԥаҳҵоит иҿыцу архәҭақәа, харантә ахысра иазку абџьар хкқәа хархәара рзызуа. Уснагӡатәны ҳҿаԥхьа иқәгылоуп - Ар ҳаамҭа инақәыршәаны реиқәыршәара. Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Аҳәынҭқарра аррамаҵзурауаа, Арбџьар мчқәа рветеранцәа, шәаргьы ишәзааигәоугьы зегьи ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аҭынчра аихьӡарақәа!". Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/16033/
2024-02-29T07:56:34Z
<urn:uuid:01b2395f-b404-4dcb-9774-5e5c8eb283b0>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.91
0.88
0.98
17
4,314
tlsh:T14EB833916980DB8BC6F3C459CF924931A8C16C824662B6A0CD89F4B6464205DEBFCD02E9ABD4158F28DB1221E022BF11A90EEDF624BE6BD3709150E57D2F3DDC37A175D1AE
Ахатә хаҿрақәа ршәахтәқәҵаразы Аусбарҭа Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистрра аппарат Хада иаҵанакуа структуратә еиҿкаамҭоуп, ақ. Аҟәеи араионтә инспекциақәеи зҵазкуа ахатә хаҿрақәа ршәахтәықәҵараҿы. Ари аусбарҭа ауснагӡараан изықәныҟәо акәны иҟоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтә закәанҧҵареи, аҳәынҭқарра амчра зныҧшуа егьырҭ анорматив-зинтә актқәеи, ашәахтәқәареи, афинансттә-нхамҩеи, аусҧҟақәеи, аинструкциақәеи адҵаҧҟақәеи рызҵаарақәа ирыдҳәалоу. Аусбарҭа уснагӡатә хаданы иадуп аусдкылара знапы алаку, ахатә-усдкылаҩцәа ахатә хаҿрақәа ршәахтәқәеи реизгақәеи ирыҵанакуа азакәанҧҵара анагӡашьа хылаҧшра аҭара. Аҧсны Аҳәынҭқарра ААР аинспекциақәа рыҟәшақәа рҿы ахатә хаҿрақәа ршәахтәқәҵара аусра шьақәдыргылоит, аусдкылаҩцәа ахатә хаҿрақәа ршәахтәқәҵара иадҳәалоу азакәанҧҵара анагӡашьа ахылаҧшра анаҭоит ахатәы компетенциа аҽҭагӡаны. Аҧсны Аҳәынҭқарра ААР ашәахтәқәеи аизгақәеи ирызку азакәанҧҵара анагӡашьа аилкааразы акомплексттә гәаҭарақәа рымҩаҧгара ахы аланархәуеит, аинспекциақәа ахатә хаҿрақәа ршәахтәқәҵара аҟәшақәа рҭагылазаашьа системала иахылаҧшуеит. Ашәахтә закәанҧҵареи ашәахтә политикеи реиқәыршәареи реиҿкаареи рымҩаҧгареи рҿы ахы аланархәуеит, ишьақәыргылоу, аус зуа аусҧҵәа аҭагылазаашьақәа инарықәыршәаны. Алкаақәҵеи астатистикатә лкаақәеи анализ рызнауеит, иара убас, аҭыҧантәи агәаҭарақәа анализ рызнауеит, урҭ шьаҭас иҟаҵаны алагалақәеи арҽеирақәеи еиқәнаршәоит ашәахтқәеи аизгақәеи ирызку Азакәанҧҵара адгаларазы.
https://mns-ra.org/eng/central/nalog_phis/
2024-03-03T06:02:51Z
<urn:uuid:a727e9f8-b0c0-4a59-9030-bea1c4d7f27a>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
1
3
2,730
tlsh:T12B07E251D500ABABC4F3C0848692C9361CD1580B0262F630CEC5B5B00B91059D7FCD13FEFAF84586B46B0605D2796B24956EEED968BD7BD2705540919E2E78EC32F17DC6ED
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Шәача Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров диҧылеит. "Ҳаиҧылара сеигәырӷьоит. Зегь раҧхьа иргыланы, ишәыдысныҳәаларц сҭахуп аҵак ду змоу арыцхә - Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахьыҧшымра жәларбжьаратәи азхаҵара 15 ш. ахыҵреи, Аиааиреи Ахьыҧшымреи 30 ш. рхыҵреи. Издыруеит, мҽхакыҭбаала аусмҩаҧгатәқәа шымҩаҧысыз, Урыстәылатәи Афедерациа ахаҭарнакцәагьы алархәны. Ҩаҧхьа иазгәасҭарц сҭахуп Аҧсны Аҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы, аекономика, асоциалтә усхк, афымцамч уҳәа, еиуеиҧшым ахырхарҭақәа русхк аҟны ҳусеицзура, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рганахьала аусеицурагьы убрахь иналаҵаны. Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымра азхазҵара амҽхак аҧхьаҟагьы иҳарҭбаалоит",- иҳәеит Сергеи Лавров, Аслан Бжьаниа аҧсшәа иаҳәо. Урыстәыла адәныҟаполитикатә усбарҭа Ахада Аслан Бжьаниа иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Урыстәыла иҷыдоу арратә операциа иалахәу аибашьцәа еснагьтәи ириҭо ацхырааразы. "Сгәы иаанагоит иҟашәҵо адгылара Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иқәгыларақәа рыҟны иазгәеиҭо алҵшәақәа ралыршараҟны ицхыраагӡахоит ҳәа. Иахьа абарҭқәа зегьы ҳрылацәажәоит, урҭ рхыҧхьаӡараҿы аҧхьаҟатәи егьырҭ аиҧыларақәа рыҟны ишьҭыххо азҵаарақәагьы налаҵаны",- иҳәеит Лавров. "Ҳаиҧылара агәахәара снаҭеит. Иазгәасҭарц сҭахуп, ҳаимадарақәа қәҿиарала аҿиара ишаҿу. Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара иҭабуп ҳәа раҳҳәоит Аҟәа аҳаиртә баӷәаза аиҭашьақәыргыларазы. Ҳара ҳзы уи аҵак ду амоуп, акыршықәса раахыс ари аус азгәаҭаны иҳаман. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит ҩ- тәылауаҩрак рзы аиқәшаҳаҭразы. Ари аҵак ду амоуп, ҳтәылауаагьы даара гәахәала ирыдыркылеит",- иҳәеит Аҧсны Ахада. Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит Аҧсны анапхгареи ауаажәларреи аинтеграциатә процессқәа ишрыдгыло, Урыстәылатәи Афедерациа аҧшьгарала имҩаҧысуа. "Ҳара уи ҳхы алаҳархәырц ҳҭахуп, Аҧсны атәылауаа ринтересқәа шьаҭанкыла ирықәшәоит",- иазгәеиҭеит Аслан Бжьаниа. Иара убас Аҧсны Ахада иҳәеит иҟоу аҭагылазаашьақәа ҳхы иархәаны Урыстәыла иҷыдоу арратә операциа адгылара шарҭо. "Асабрадақәа, ишырҳәо еиҧш, ирҿыхуп. Еилкаауп зҿы аус ҳамоу, убри аҟынтә агәра жәгарц шәылшоит аҵыхәтәанӡа ҳашшәыдгыло",- иҳәеит иара. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/15998/
2024-02-29T08:51:29Z
<urn:uuid:899bf3c4-3ac2-4e85-91df-56ee5d44e38e>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.92
0.88
0.98
17
4,721
tlsh:T12654E8A18A808B8BD6B3C469DB914A35ADD168464362B660CECAF5B11799054FEFCD03E6FAE8058EB4D71211D162BE11690DFDE6687EEAD3704340A52C3F7CDC33A439C19E
Урыстәыла 75 адронқәа рыла Украина иажәылеит. Ари атәы ааицҳаит Украина Арратә аҳаиртә мчқәа рнапхгаҩы. Украинатәи арратә маҵзуҩцәа рдыррала, 75 адронқәа рҟынтә 71 икарыжьит. Урыстәыла амассатә жәылара хада мҩаҧган Украина ахҭнықалақь азы. Киев ажәылара ф-сааҭк раҟара инагӡон, аурысцәа Киев ахырхарҭала зеиҧшҟамлац ала ирацәаны, — 50 адронқәа дәықәырҵеит. Киев ахада Витали Кличко иҳәамҭала, адронқәа рыҧҽыхақәак аихагыла рацәа змоу акорпусқәа ирықәҳаит. Хәҩык ахәрақәа роуит, урҭ рыгәҭа 11 шықәса зхыҵуа ахәыҷгьы. Аибашьра Украинаҿ урыстәыла-украинатә еибашьра 1 Еиҧшу Урыстәыла Одессазы имҩаҧнагаз авиажәылара амшала аихагыла рацәа змаз ахыбра еилаҳаит, иҧсыз ауаа иҟоуп Украина ишаарыцҳаз ала, Урыстәыла ампыҵахалатә мчқәа Бахмуҭ ахырхарҭала ҧхьаҟа ицан, анхарҭатә пункт Ивановское хәҭак ааныркылет Урыстәыла ала Харьков аракетатә ажәылара амшала аҭырқәа журналистцәа аахақәа роуит Белгород алахысра амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара азҳаит 24ҩык рҟынӡа Иаха Харьков алахысра амшала, 20ҩык иреиҵамкәа, британиатәи ажурналистгьы, ахәрақәа роуит Telegram-каналқәа рыла аларҵәара зауз аинформациа инақәыршәаны, аҕба "Новочеркасск" ажәылара амшала 33ҩык амшынуаа хабарӡа иӡит ҳәа иҧхьаӡоуп, 25ҩык ахәрақәа роуит, аӡәы дҭахеит Витали Кличко иҳәамҭала, аракетатә аахарақәа рымшала, Киев ахәыҷтәы хәышәтәырҭеи анхарҭатә корпуси аҧхасҭа роуит, 23ҩык аахақәа роуит Урыстәыла ала украинатәи ақьалақь Херсон алахысра амшала аҭынчуаҩк дҭахеит Иаха Урыстәыла 12 адронқәеи амҵәыжәҩатә ракетеи рыла Украина иажәылеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра - Украина, адронқәа рыла, урыстәылатәи аҵакырадгьыл иажәылеит Амш зеиҧшрахо 10° амҽ Қaрҭ ашә 11° аҩ 14° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Мамука Мдинараӡе - Зегьы еилышәкаар сҭахуп, Саакашвили амодернизациа асимвол аҳасабала ихәаҧшра ақырҭуа уаажәлар рыгәҭа антиевропатәи агәалаҟазаарақәа азнарҳауеит Иракли Кобахиӡе - Гурам Габескириа ихьӡ ҳареи игыло абиҧареи иаҳзаанхоит аҧсадгьыл азгәыкреи, аҟәышреи, ақәҧаратә ҟазшьеи аҿырҧштәы аҳасабала Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа Қарҭи арегионқәеи рҿы анаркоацәгьауразы жәаҩык ааныркылеит Санкт-Петербург ҩнык адрон ақәҳаит Урыстәыла Одессазы имҩаҧнагаз авиажәылара амшала аихагыла рацәа змаз ахыбра еилаҳаит, иҧсыз ауаа иҟоуп
https://1tv.ge/lang/ab/news/iaxa-wrmstmla-75-adronqa-rmla-wkraina-iazhmleit-wr%D2%AD-rkhmnt-71-adronqa-iqxmn/
2024-03-03T06:32:09Z
<urn:uuid:bf55b207-cec6-4ad4-bc32-a80937ae5f83>
[ "footer", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.96
0.62
0.98
34
4,145
tlsh:T129AEC7818B40CB8FC9B3C0698A918E353C9069075762B1A0CDD6F4B52795199EEFCD0399F9FC444E609B0112E161BF111A09ECEA19BEBFD7A01240E55E3E64EE37E479C5DF
Абхазское радио вещает теперь не только в пределах Абхазии,но и теперь, благодаря новым технологиям, стало доступно нашим братьям в дальнем зарубежье. УЗНАТЬ БОЛЬШЕ В Центре внимания Новости Фонотека Проекты АБХАЗСКОЕ РАДИО ОТМЕЧАЕТ 90 – ЛЕТНИЙ ЮБИЛЕЙ 18-04-2022 Абхазское радио 01-02-2021 Изеиԥшрахои аҳауаԥхарра ҳазҭалаз ааԥынразы? Аҧсуа радио аефир иалахəуп ансамбль "Ахьышьҭра" Гороскоп 17.01.23 Гороскоп 07.12.22 Апсуа радио. Гороскоп 06.12.22 Адырраҭара «Аамҭеи ауаҩи» далахәуп Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу «Аекологиа аинститут» аиҳабы, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, ААУ актәи апроректор, адоцент Роман Дбар. Аԥсуа поет, аҵарауаҩ ду, афилологиатә тҵаарадыррақәа ркандидат Владимир Анқәаб. Иԥсы ҭаны дыҟазҭгьы, жәабран ҩажәи хԥа рзы ихыҵуан 96 шықәса. Абыргцәа рхеилак, уи афункциа, иахьа инанагӡо ароль. Адырраҭара «Аамҭеи ауаҩи» изкуп аԥсуа литература ашьаҭаркҩы, аҵарауаҩ, Аԥсны Жәлар рпоет Дырмит Гәлыиа. Сынтәа иара дижьҭеи 150 шықәса ҵит. Мадина Шьоуаԥҳа: «Аҭаацәеи ахшареи аилибакаареи агәрагареи рыбжьазароуп.Уи даара ихадароуп ,уи аныҟамла аизыҟазаашьа уадаҩхоит» Адырраҭара «Аамҭеи ауаҩи» далахәуп Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа. Адырраҭара «Аамҭеи ауаҩи» далахәуп Аԥсны Жәлар рартист Борис Амҷба. Викториа Џьниаԥҳа: «Арҵаҩы ахәыҷқәа рахь абзиабареи аилкаареи анимоу иусура лҵшәадахоит,ахәыҷгьы ҩныҵҟала иныруеит» Аԥсны Жәлар рартистка, «Аԥсуа ҟармаҵыс» ҳәа изышьҭаз, раԥхьаӡтәи аопертә шәаҳәаҩы Лиудмила Логәуа илызкуп адырраҭара «Аамҭеи ауаҩи». Сынтәа Лиудмила Логәуа илхыҵуан 85 шықәса. Адырраҭара «Аамҭеи ауаҩи» далахәуп Џьамал Дбар. Ауаажэларратә палата алахэыла Асҭамыр Ахба. Адырраҭара «Ҳара Ҳабиԥара» далахәуп -Ахәыҷтәы Ацаратә центр «Аҟәыбҷа»анапхгаҩы- Саида Шьамаҭааԥҳа. Адырраҭара «Аамҭеи ауаҩи» далахәуп Лев Кәыцниа. Алхас Барцыц: " Иус хаданы избо ҳџьынџьуаа рзы раҧхьа игылоуп мшынгәылатәи ҳаиҭынаиааира аус ахацыркра. Инал Цьопуа: «Аԥсны аҭоурыхтә культуратә ҭынхақәа рахь иаҵаркуа ахыбрақәа рыхьчара азҵаараҿы уадаҩрас иҟoу афинансқәа разымхара мацара акәӡам» Анатолии Лагәлаа: "Сыгәҭакы хада лассы-лассы ҳџьынџьуаа ирызку ҳжурнал адаҟьақәа рҟны акьыҧхьра" Астанда Курт-оглы:««Аԥсуара» адаҟьа иҭазгалоу ацәаҳәақәа баша жәақәам,урҭ даара сгәы иазааигәоу жәақәоуп» Астанда Аџьбԥҳа:«Схәыҷы аахижьҭеи сзанааҭ бзиа избоит ахәыҷқәа рыбжьы са сзы ԥсыршьагоуп.Исымоу аԥышәа маҷуп,убри аҟнытә сдыррақәа еисзырҳалоит» Гәында Гәымԥҳа« Жәипшь шықәса арҵаҩратә усура снапы злаку бзиа исымбар залшом ,сзанааҭ ада сзынхом» Аҧсуа ҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Аркади Џьопуа Адырраҭа «Аамҭеи ауаҩи» далахәуп Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла алахәыла, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҟазара афакультет адекан ихаҭыԥуаҩ, асахьаҭыхҩы-апартрет ҟаҵаҩы Руслан Чхамалиа. Адырраҭа «Аамҭеи ауаҩи» далахәуп Аԥсны Афырхаҵа, Кындыӷ ақыҭа ахада Зорик Ҷҟониа. Ахра Анқәаб: "Ҳмилаҭ хаҿра иадоуҳау ҳаҧсуа газеҭ есымшааира аҳаҭыр шьҭыхлатәуп." Витали Џьениа« Ахәышәтәырҭаҿы аԥышәа ду змоу такԥхықәрала иазнеиуа аҳақьымцәа аус руеит.Зегьы ҳхеибарҭәаауеит, аусураҿы ас еиԥш аизыҟазаашьақәа ихадоу атыԥ ааныркылоит Адырраҭара «Аамҭеи ауаҩи» далахәуп аибашьра аветеран, Аҳәынҭқарратә премиа «Аибашьра амшынҵа» алауриат, асахьаҭыхҩы ҟаза Гарри Дочиа. Адырраҭа «Аамҭеи ауаҩи» далахәуп Аԥсны асахьаҭыхыҩцҩа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалыиаԥҳа. Илона Шьаданиаԥҳа« Схәыҷы аахижьтеи ҿырԥштәыс сан лакәын исымаз ,убри акәзаргьы ҟалап схы сдыруа саналага инаркны, бзиа изызбаз арҵаҩы изанааҭгьы » Адырраҭара «Аамҭеи ауаҩи» далахәуп Гәдоуҭа араион ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы, Аԥсны ақыҭанхамҩа зҽаԥсазтәыз аусзуҩ нага, Ахьӡ-аԥша аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Иури Кәарацхьелиа. Очамчыра араионтә еизара ахантэаҩы Адгәыр Кәыҵниа. Дырзааҭгылеит иахьатәи аамҭазы араион аҿаҧхьа иӡбатәу азҵаарақәа. Адырраҭара «Аамҭеи ауаҩи» далахәуп Очамчыра араион Отаԥ ақыҭа ахада Ҭенгиз Адлеиба. «Сара сыжәла Баалоуаа Аԥсны иааҭыҵын нхыҵ ицеит…» – абаза жәлар рпоет Лариса Баалоуԥҳа-Шебзыхәа дызлахәу адырраҭара. Амҩаԥгаҩ Алина Ачԥҳа. Ҭамила Џьалаӷониа: «Аусураҿы сыџьбаразаргь, схәыҷқәа даара бзиа избоит, алеишәа аныҟамла ибашахоит ҳџьабаа зегьы» Виачеслав Сақаниа: «Иагьа рыла угәалашәарақәа хьанҭазаргьы, ииашаны аҿар ирзноугар-уҭакԥхықәра наугӡеит» Асҭан Агрба: «Гагра - иаԥсыуа қалақьны, иаԥсыуа дгьылны избарц сҭахуп» Адырраҭара «Аамҭеи ауаҩи» далахәуп афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Ахьӡ-аԥша аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу, Аԥсны аҭҵаарадырра аусзуҩ нага Леонид Саманба. Адырраҭара «Аамҭеи ауаҩи» далахәуп Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы, Ателеканал Абаза-ТВ аиҳабы Руслан Ҳашыг. Цандрыҧшьтәи аҩбатәи абжьаратә ашкол арҿыцрақәа иалагалоу атәы дазааҭгылеит - адиректор Махаз Ешба Адырраҭара «Аамҭеи ауаҩи» далахәуп Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы, Ателеканал Абаза-ТВ аиҳабы Руслан Ҳашыг. Гагра араион ахада ихаҭыҧуаҩ Хана Гәынҧҳа дазааҭгылеит аҵаратә процесс иазку азҵаарақәа. Адырраҭара "Аамҭеи ауаҩи" далахәуп Езаабе Қапба. Валери Аҩӡба: «Амҵәышә аҵа былуан, амаа ахыччон ҳәа, ҳазҭагылоу ҳбаӡом». Ҭемыр Шьергьелиа: «Ауаҩы ԥсуаҵас дааӡазар, уи ала дхәыцуазар-ибызшәагьы иҳәо дҟалоит» Арсоу Берзениа: «Ҳаамҭазы ирацәоуп збаҩхатәра ссиру аҿар, аха ауалафахәы ахьмаҷу иахҟьаны, ԥыҭҩык асахьаҭыхыҩцәа еиуеиԥшым азанааҭқәа рхырхарҭақәа алырхуеит» Памяти Руслана Таркил. Адырраҭара «Аамҭеи ауаҩи» далахәуп Едуард Ҳашыг. Вадим Ҳаразиа: "Ҧсуаҵас рхымҩаҧгара абзоурала алхрақәа мҩаҧысит ламысла" Адырраҭара «Аамҭеи ауаҩи» далахәуп Џьума Шьоуа. Баҭал Габелиа: «Дарбанзаалак ауаҩы имоу агәҭакы анагӡаразы, дымхьаҵкәа ԥхьаҟа дцалар ауп» Мактина Џьынџьалԥҳа:«Схықәкы хада, ззин ҿаҟәоу ахәыҷқәа рыцхыраара ауп» «Иҳамоу аҟазаратә еихьӡарақәеи ақәҿиарақеи зегьы рыбзыуроуп ҳҭаацәа. Урҭ рҟынтәи иҳауа ахацгылареи аилибакаареи даара акыр аҵанакуеит ҳара ҳзы» - ҳәа азгәарҭоит аиҳәшьцәа Гундеи, Фридеи, Мзиеи Берзениаԥҳацәа. 1 2 3 4 5 6 7 8 9 10 11 12 13 14 15 16 17 18 19 20 21 22 23 24 25 26 27 28 29 30 31 32 33 34 35 36 37 38 39 40 41 42 43 44 45 46 47 48 49 50 Нужна реклама на радио? Наша радиостанция, как любая стабильно развивающаяся компания, заинтересована в постоянных клиентах и продолжительных контрактах, поэтому и каждый менеджер заинтересован в положительных результатах своего труда, то есть в успехе Вашей рекламы, ведь только в этом случае Вы обратитесь к нам снова.
https://www.radio.apsny.land/ru/
2024-03-01T13:47:12Z
<urn:uuid:6ea0fea2-7455-4c1f-80a5-948fd449cda4>
[ "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.88
0.84
0.98
61
11,477
tlsh:T14B8EFC32B940CB4BC7B3D04ADAC189326CD2691342637221CDC4F0A4112109DDFFCD13A9FEE8166AB4EF1162E117EA016959FCF569BD7BE7618214A12D3F38DE2B9836E59E
2024 ш. февраль мза 4 рзы ақалақь Москва имҩаԥысит Жәларбжьаратәи афестиваль «Многожанровый-конкурс» ҳәа хьӡыс измаз. Уи еиҿнакааит Арт-Комитет «Московское время». Зегьы ирыцку Жәабран 15, 2024 Аҟәатәи аҿкы хәышәтәырҭа аҳақьым Гәдиса Шларба иажәақәа рыла есыҽны ахәшәтәырҭа иадҵаалоит зшоура 39-40 рҟнынӡа ихало 70-ҩык рҟнынӡа ауааԥсыра. Урҭ рахьтә аиҳараҩык «агрип А» ҳәа изышьҭоу ачымазара ауп изыргәамҵуа. Астатиақәа Афырхаҵара бзанҵы иӡуам Жәабран 15, 2024 Ауаажәларратә еиҿкаара «Ахатә­гәаԥхаҩы» (Доброволец) «Москва-Аҩны» аҟны имҩаԥнагеит хатәгәаԥхарала Донбас еибашьуаз, уи ахьчара зхы ақәызҵаз Аԥсны аҵеицәа: Давид Сабекиа, Дмитри Алпатов, Ҭемыр Хараишвили, Мырзаҟан Ачба, Шамил Дасаниа иаадырԥшыз агәымшәареи афырхаҵареи рзы «Гьаргь иџьар» I аҩаӡара ранашьара иазкыз агәалашәаратә усмҩаԥгатә. Аҳамҭақәа рнапаҿы ирыҭан иҭахаз рҭаацәарақәа. Иара убас «Ауаажәларрратәи хатәгәаԥхаралатәи аџьа Афырхаҵа ахьтәы еҵәа» ианашьан, ааигәа зыԥсадгьыл гәакьа зыԥсыбаҩ амадаз, Донбасс аҭынчра аиқәырхара зџьабаа рацәа адыз Владимир Харабуа. Афырхацәа рыхьӡ ахааназ кашәара шақәым, урҭ рхы зқәырҵаз, адунеиаҿы аҭынчра аиқәырхареи, уи ахьчареи иарбан абиԥаразаалак рзы ишхымԥадатәу азгәаҭауа, рҵеицәа рыхьӡ анаӡаӡатәра иазааԥсо зегьы «иҭабуп» ҳәа раҳәо ихыркәшан алаӷырӡи ахьааи зцыз аиԥылара. «Амилаҭтә интересқәа ирҿагыло аӡәгьы дыҟам» Жәабран 15, 2024 Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Урыстәылатәи агвардиеи рыбжьара анапхгарабжьаратәи аусеицура иазырхоу аиқәшаҳаҭра апроект еиқәыршәоуп. Астатиақәа Зыԥсҭазаара ҿырԥшыгаз Жәабран 14, 2024 Аԥсны аҵеицәа аҭоурых иԥнашәахьеит, адунеи аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа урҭ рҟәыҭханы мышкгьы иҟамлац. Иахьа адунеи иахыҵәаз, Урыстәыла Украина имҩаԥнаго хаҭалатәи аоперациа иалахәуп Аԥсны аҵеицәа. Иахьанӡа, 30-ҩык ҳара ҳҵеицәа ари аибашьраҿы иҭахахьеит… Ахәшьара: аусура цәгьам Жәабран 14, 2024 Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҿаԥхьа аҳасабрба ҟаиҵеит иҳаҩсыз 2023 шықәсазы аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусуразы, азинхьчареи ашәарҭадареи рхырхарҭала иаарԥшыз алҵшәа бзиақәа рзы. Иара убас иазгәаҭоуп, атәылаҟны 795 рҟынтә 665 рҟынӡа ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара шмаҷхаз, уи шаҳаҭра ауеит аусура бзианы ишымҩаԥысуаз азы. Астатиақәа Аҧсны Жәлар Реизара аилатәара Жәабран 14, 2024 Ааигәа Аҧсны Жәлар Реизара аилатәара мҩаҧысит. Амшхәаҧштә аҿы иқәгылан ҩажәа зҵаара, урҭ рахьтә ҩ-зҵаарак анаҩстәи аилатәара ашҟа ииаган. Актәи азҵаара аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭеилакы иатәу арепатриациатә фонд 2023 шықәсазтәи абиуџьет адкылара. Астатиақәа Москватәи аиԥыларақәа Жәабран 14, 2024 Аԥшьаша, жәабранмза 8 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Москва усуратә визитла иҟазаара инҭагӡаны имҩаԥысит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови иареи реиԥылара, – адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура. Аслан Бжьаниеи Сергеи Лаврови Аԥсни-Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит. Астатиақәа Аҟармаҵыс бжьы зхаз Жәабран 13, 2024 Аҧсны жәлар рартистка, «Аҧсуа ҟармаҵыс» ҳәа изышьҭаз, раҧхьаӡатәи аоператә шәаҳәаҩы Лиудмила Логәуа лыҧсҭазаара зегьы амузыка иазылкит, лхатәы насыҧ дашьҭамлаӡеит, аҭаацәара аҧылымҵаӡеит. Аҧсны акультура аҭоурых наунагӡа лышьҭа анылҵеит, ҳтәыла амузыкатә ҭынха ауасхырқәа дреиуахеит. «Ашәаҳәаҩ ду, зҟазара ҭбааз, зус бзиа избоз зыҧсы ахҭнызҵоз», – абас Лиудмила Логәуа илыхцәажәоит уи ибзианы дыздыруаз, аус лыцзухьаз ауаа. Астатиақәа Ахара сыдым Жәабран 13, 2024 Аԥсуа жәлар иарбан ҭоу­рыхтә аам­ҭазаалакгьы рҿахәҳәаҩцәа, зыжәлар рыԥсҭазаара зыԥсҭазаараз ауаа хатәрақәа рылиаауан. Убарҭ ируаӡәкыз, аԥсуа қыҭа Лыхны 1883 шықәсазы ииз, аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩы Аланиа Дмитри Иван-иԥа диижьҭеи 140 шықәса ҵит.
https://gazeta-apsny.info/itemlist/user/806-aslan?start=30
2024-02-24T15:12:01Z
<urn:uuid:12937f8e-67a1-4872-bcd4-ce4352d1dd18>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.95
1
0.99
28
6,667
tlsh:T1FB3127D16540CB8FC6B3D099CAC149341DD16C8687767220CED9F4B0164648DEFFCD13EAFAEC1A4A74EB5622D261AE01A64AECF9157DAFD3329200A5392F38D9279476C19E
Аԥсны аҭоурых азқьышықәсақәа иргәылсны иаауеит. Аратәи адгьыл ԥсылақәа рҟны ауаа ақәынхара иалагеит 35 нызықь шықәса уажәаԥхьа, ихьшәоу апалеолит аамҭазы. Иахьазы идыруп 12-7-тәи азқьышықәсақәа ирыҵркуа амезолит аамҭазтәи ауаа рынхарҭақәа. Усҟан ауаа аҳаԥқәа рҿы инхон, аӡиасқәа иахьырзааигәаз анхарҭа ҭыԥқәа алырхуан, аԥсыӡ ркуан, амазеиҟәшәара иаҿын. Ари азы шаҳаҭра руеит рынхарҭақәа ахьыҟаз аҭыԥқәа рҿы ирыԥшааз аџыққәеи аԥсыӡ абаҩқәеи. Анеолит аамҭазы (VI-IV-тәи азқьышықәсақәа ҳера ҟалаанӡа) ицәырҵуеит анышәаԥшь иалху раԥхьаӡатәи ачысмаҭәа. Иара усҟан ауп ауаа рынхарҭақәа рыргылареи, адгьыл ақәаарыхреи ианрылагазгьы. III-IV-тәи азқьышықәсақәа раан Аԥсны иқәынхоз ауаа абҩа рхы иадырхәо иалагеит, уи анаҩс аџьаз арҭәашьагьы рҵеит. III азқьышықәса анҵәамҭазы II-тәи алагамҭазы адольментә культура цәырҵит. Ахаҳә иалхыз аҳаҭгәынқәа – адольменқәа – иахьанӡагьы еиқәханы иҟоуп, Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны иаҳԥылоит. Зегьы иреиҳау ахыԥхьаӡара Оҭҳара ақыҭаҿы иҟоуп: уа иԥшаан 15 дольмен, 60 инаркны 110 тонн рҟынӡа зыкапан наӡо аҳаҭгәынқәа. Ихьшәоу аџьаз аамҭахь иаҵанакуа аҳаҭгәынқәа рҿы археологцәа ирыԥшааит аџьаз иалху аихақәа, еиуеиԥшым арԥшӡагақәа, акерамика. Раԥхьатәи ақалақьқәа Ҳера ҟалаанӡа VIII-тәи ашәышықәсазы аԥсуаа рхылҵшьҭрақәа ахьықәынхоз Амшын Еқәа аҿықәахь иқәнагало иалагеит абырзенцәа. Араҟа VI-I ашәышықәсақәа рзы урҭ идырглылеит раԥхьаӡатәи ақалақьқәа: Диоскуриа (иахьатәи Аҟәа), Питиунт (Пицунда), Триглит (Гагра), Гиуенос (Очамчыра). Хара имгакәа ақалақь-колониақәа рҟны ахәаахәҭра ҿио иалагеит, еиуеиԥшым азанааҭқәа цәырҵит. Диоскуриада Абырзенцәа Диоскуриада ҳәа зыхьӡырҵаз ақалақь аҭыԥаны Аҟәа ҳәа еиҳа ижәытәтәиу ахьӡ аман. Уи азы шаҳатра ауеит ҳера ҟалаанӡа 90-80-тәи ашықәсқәа раан иҟаҵаз ахьтәы абазқәа рҿы иану аҩыра «Акои» (Аҟуа), дара ҟаҵан фракиатәи аҳ Лисимах истатерқәа ирҿырԥшны. Баграт иаҳҭынра ҳәа иахьа Аҟәа азааигәара иҟоу уаанӡа Агәа (Аҟәа) аҳҭынра ҳәа иашьҭан. Ҳера ҟалаанӡа VI-V-тәи ашәышықәсақәа рзы абырзенцәеи аҭыԥантәи атәылауааи хаз-хазы инхон, ахәаахәҭратә еизыҟазаашьақәа рыбжьан ауп акәымзар. Аха ишнеиуаз аеллинтә епохаан (IV-III-тәи ашәышықәсақәа ҳера ҟалаанӡа) Диоскуриада ауааԥсыра еилаӡҩеит. Ҳера аныҟала I–тәи ашәышықәсазы абырзенцәа рҭыԥаны Аԥсныҟа иқәнагало иалагеит аурымцәа, ари ҟалеит аимператор Август Октавиан ихааны. Усҟан Диоскуриада ахьӡ ԥсахын Себастополис ҳәа. Абас ала Аҟәа аҭоурых аҟны иалагеит VII-тәи ашәышықәсанӡа инаӡаз аурымтә-византиатә период. Ақьырсианра Аухәаматә шәҟәҩыра излаҳәо ала, 55-тәи ашықәсазы ақьырсианра аларҵәаразы Аԥсны иааны иҟан Иаса Қьырса иҵаҩцәа – апостолцәа Симон Канатәии Андреи Ԥхьанаԥхьаҩи. Симон Канатәи Ԥсырӡха аӡиас ахықәаны аԥсра идикылеит, иара уаҟагьы анышә дамадоуп. Аԥсны ақьырсианра динк аҳасабала иалало иалагеит ақалақьқәа Питиунт, Себастополис, Зиганис (Очамчыра араион) иахыргаз аурымтәи асолдатцәа (500-ҩык рҟынӡа) ирыбзоураны. IV-тәи ашәышықәса алагамҭазы Питиунт ишьақәгылеит Кавказ зегь реиҳа ижәытәтәиу ақьырсиантә еилазаара. 325 шықәсазы Питиунттәи аепископ Стратофил далахәын Никеиа имҩаԥысуаз Раԥхьаӡатәи ақьырсиантә еизара ду. VI-тәи ашәышықәса алагамҭазы Аԥсны Византиатәи аимпериа анапаҵаҟа иҟалеит. Уи аамҭазы аԥсуа хылҵшьҭрақәа: аԥсилааи, абазгааи, мсымааи рҽеидыркыло иалагеит, хәыҷы-хәыҷла ишьақәгылон афеодалтә еизыҟазаашьақәа. Ари апроцесс амҩаԥысра иацхрааит 548 шықәсазы динк аҳасабала ақьырсианра адкылара. VII-тәи ашәышықәсазы аԥсилааи, абазгааи, мсымааи рыдгьылқәа Византиатәи аимпериа иахәҭакны иҟан. VII-тәи ашәышықәса алагамҭазы Анаҟәаԥиатәи ахырӷәӷәарҭа ргылан, усҟантәи аамҭазы Амшын Еиқәа Кавказтәи аԥшаҳәа иахьаҵанакуа зегь реиҳа идууз хырӷәӷәарҭан иара. Анаҟәаԥиатәи аибашьра VII-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы Мрташәаратәи Кавказ рымпыҵархаларц арахь иааит арабцәа. Аԥсилаа рыдгьылқәа рҟны рырхәҭақәа ааины игылеит. 738 шықәсазы Мерван Лашәы (Мерван Кру) напхгара зиҭоз арабцәа рыр аԥсилаа ирабашьит, ақалақь Цхум рыбганы, Анаҟәаԥианӡа инаӡеит. Анаҟәаԥиа рыхьчон ҩ-нызқьҩык абазгааи Қарҭли аҳцәа Мири Арчили ирыцны абазгаа рҿы ахыхьчаразы иааиз ақарҭлиицәа зқьҩыки. Абазгаа раҳ Леон актәи уи аамҭазы ацхыраара даҳәарц азы аланаа рахь дыҟан. Мерван Кру ир хыԥхьаӡарала акырынтә еиҳан Анаҟәаԥиа ахьчаҩцәа раасҭа. Аха Анаҟәаԥиа аҭыӡқәа даара иӷәӷәан, уи аладатәи аҭӡы 450 м инаӡон, 30-50 м рыбжьаҵаны абаашқәа ахагылан. Аҭӡыи абаашқәеи ирхагылан аӷа ахыцқәеи ахаҳәқәеи игәыдызҵоз аибашьыгатә хархәагақәа, акатапультақәа. Абааш гьежь ашьҭахьала агәашәқәа иҿаз бзианы ирыхьчон. Абаашқәа дара-дара еимадан, урҭ ирҿаз агәашә хәыҷқәа рыла ахьчаҩцәа ԥшыхәра ицәырҵуан. Аха Анаҟәаԥиа агаразы арабцәа ашьаарцәыратә еибашьра рзыҟамҵеит. XI–тәи ашәышықәсазтәи ақырҭуа ҭоурыхҭҵааҩы Џьуаншер излааицҳауа ала «Анцәа асарацинцәа ашоура бааԥс рзааиган, аҿкы чымазара рылалеит». Арабцәа реиҳараҩӡак ачымазара иахҟьаны инҵәеит, абазгаа рхырӷәӷәарҭа шырыхьчац ирыхьчон. Мерван дхьаҵыр акәхеит. Аԥсуа аҳра VIII-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы Аԥсны аҵакырадгьыл аҿы ишьақәгылеит заатәи афеодалтә ҳәынҭқарра – Аԥсуа аҳра. Аҳра аҳәаақәа наӡон Ҭҟәаԥс инаркны Сурамтәи ашьхахыҵырҭанӡа. XI-тәи ашәышықәсазтәи Қырҭтәылатәи ахыҵхырҭаҿы ари аҭоурыхтә хҭыс абас иарбоуп: «Абырзенцәа рымч анмаҷха, Аԥсны аҳра азызуаз Леуан аҩбатәи урҭ дрыцрыҵит (уаанӡа аҳра зуаз Леуан иаҳәшьаԥа иакәын). Леуан аҩбатәи аҳазарцәа раҳ имаҭа иакәын, убри аҟнытә ианшьцәа аҳазарцәа рымч дақәгәыӷны абырзенцәа дрыцрыҵын, Аԥсны аҳ (аԥсҳа) хәа ахьӡ ихыиҵеит». Аԥсуа аҳра усҟангьы «жәларбжьаратәи азхаҵара» аиухьан, аԥсҳа Леуан Аԥсны аҳҭнықалақь Анаҟәаԥиантәи Қәҭешьҟа ииаигеит. Аԥсуа аҳра ахьынӡаҟаз ибзианы иҿион аекономкиа, акультура, аргылара: усҟан аухәамақәеи аханқәеи рацәаны иргылан. Аԥсуа аҳра 200 шықәса анҵыра аман, уи кәадахо иалагеит ахшаа дызмамыз аҳ Феодоси Алашә иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь. Анаҩс Аԥсныи Қырҭтәылеи еицырзеиԥшу аҳәынҭқарра аԥырҵеит. XIII-тәи ашәышықәсазы аԥсуааи ақырҭцәеи рҳәынҭқарра хазы иҟоу аҳрақәа рыла еиҟәшахо иалагеит. Агенуезцәа Аԥсныҟа раара XIII-тәи ашәышықәса аҩбатәи азбжазы Аԥсны аԥшаҳәахьы икәнагалоит Генуезтәи ахәаахәҭартә ӷбақәа. Агенуезцәа рхәаахәҭырҭатә еиланхарҭақәа цәырҵуеит Аԥсны аҭыԥқәа жәпакы рҿы: Какари (иахьатәи Гагра), Пецонда (иахьатәи Пицунда), Каво ди Буксо (иахьатәи Гәдоуҭа), Никоффа (иахьатәи Афон ҿыц), Севастополис ма Сан-Себастиан (иахьатәи Аҟәа), Каво Зизибар (Аӡҩыбжьа азааигәара), Сан-Томмазо (иахьатәи Ҭамышь) уҳәа уб. иҵ. Агенуезцәа реиланхарҭақәа зегьы ирхадаран Севастополис: араҟа акәын Кавказ иааны иҟаз италиаа реиҳабы итәарҭа алхны иахьимаз. Агенуезцәа еиҳараӡак изҿыз хәаахәҭран, тауар хадас иҟазгьы абырфын акәын. Абырфын Мрагыларантәи Амшын Еиқәа абаӷәазақәа рыла Мраҭашәаратә Европаҟа идәықәырҵон. Аԥсны иалсны ицон Ахьтәи Ордеи Генуеи еимаздоз Абырфынтә мҩаду кавказтәи амҩақәа хԥа. Аԥсны аҳреи Ҭырқәтәылеи XV-тәи ашәышықәса аҩбатәи азбжазы аҭырқәцәа Константинополь анырга ашьҭахь, арахь иӡхыҵуа иалагеит. Уи анаҩс дук мырҵыкәа агенуезцәа Аԥсны аанрыжьит. Усҟан Аԥсны аҳра руан аԥсуа ҭауадцәа Чачаа (Шервашиӡе), урҭ ирҭахын агыруа феодалцәа рҟынтә ахы ақәиҭхара. Абри азы аԥсуааи агырцәеи 30 шықәса еибашьуан. Аҵыхәтәан аибашьра анеилга аԥсуааи ақырҭцәеи ҳәаас ирыбжьарҵеит аӡиас Егры, абар шьҭа 300 шықәса ирықәуп ари аҳәаа ԥсахрада иҟоуижьҭеи. XVII-тәи ашәышықәсазы аҭырқәцәа амшын аганахьала Севастполис иакәшеит. Аԥсуа ҭауадцәа (афеодалцәа) аҭырқәцәа аԥара рызшәара иақәшаҳаҭхар акәхеит. 1634 шықәсазы аҭыркәа десант Кәыдры азааигәара иӡхыҵын, ауаа дырҳәит, рынхарҭақәа рыблит, аҭыԥантәи афеодалцәа ашәахтәқәа рықәырҵеит. 1724 шықәсазы аҭырқәцәа Севастополис аҿықәаҿы абаа дыргылеит, иагьахьӡырҵеит Сухум-кале. Ашьҭахь иара ақалақь ахаҭагьы ус иахьыӡхо иалагеит. Османтәи аимпериа политикалеи економикалеи адҳәалазаара иабзоураны Аԥсныҟа хәыҷы-ҳәыҷла амсылманра алаҵәо иалагеит. XVIII-тәи ашәышықәса анҵәамҭа инаркны Қьалышьбеи Чачба иаҳра аамҭаан Аԥсуа аҳра ҩаԥхьа аҽарӷәӷәо иалагеит, уимоу Анаԥеи Баҭыми рыбжьара Амшын Еиқәа ихын аԥсуаа рыԥшыхәратә ӷбақәа рацәаны. Аԥсны Урыстәыла иадлеит XIX-тәи ашәышықәсазы Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи Амшын Еиқәа кавказтәи агаҿа еимакны еибашьуан. 1810 шықәса ԥхынгәымзазы аурысцәа Сухум-кале ахырӷәӷәарҭа ргеит. 1810 шықәсазы Аԥсны Урыстәыла иадлеит. Иара уи ашықәсазы 5 нызқьҩык аԥсуаа Ҭырқәтәылаҟа иӡхыҵит. Ари XIX-тәи ашәышықәсазы амҳаџьырра раԥхьатәи ацәқәырԥас иԥхьаӡоуп. Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи реиҿагылара Аԥсны аҳрагьы акырӡа анырра анаҭеит. XIX ашә. Алагамҭазы ара иӡбамкәа иҟан аҳра ацҵара азҵаара, аполитикатә лагерқәа ҩба еиҿагылан. Руак, Петербургҟа зҿы хаз, Аԥсны аҳ Қьелашьбеи напхгара аиҭон, аҩбатәи, Ҭырқәтәылаҟа зҿы хаз, Қьелашьбеи иԥа Асланбеи напхгара аиҭон. Абри аиҿагылара 1808 шықәса рзы Қьелашьбеи ишьрахьы икылнагеит. Аԥсны ааныжьра зықәшәаз Қьелашьбеи аҩбатәи иԥа Сефербеи Урыстәыла аимператор Александр I ихьӡала аҳәаратә шәҟәы иҩит Аԥснытәи аҳра хылаԥшра аиҭаларц. 1810 шықәса жәабранмзазы иҭыжьыз Аманифест инақәыршәаны Сефербеи Аԥсны аҳ ҳәа ахьӡ ихҵан. Урыстәыла ар рхархәарала Сефебеи Аԥсны дахагылоит. Аԥсуа аҳра, Қырҭтәыла еиԥш акәымкәа, Урыстәыла ианадла ашьҭахьгьы ҳәынҭқаррак аҳасабала ахҳәаақәҵара ацәымӡӡеит. 1810 шықәса инаркны 1864 шықәсанӡа Аԥсуа аҳра автономтә напхгараҭара шамац иаанхон, егьырҭ кавказтәи атәылақәа ари аҟара ахақәиҭра рыздыруамызт. Урыстәыла Кавказ иҟаз арратә мчра ацхыраара рырҭон Аԥснытәи аҳцәа, убас, аҵыхәтәантәи Аԥсны аҳ Михаил Шервашиӡе (1823-1864) аинрал-леитенант ичын иман, Александр Невски иорден ианашьан. Кавказтәи аибашьра алагамҭаз (1864 г.) Аԥсуа аҳра иамаз амч амӡааны иара аҵакыраҿы Аҟәатәи арратә ҟәша (ашьҭахьшәа – Аҟәатәи аокруг) ҳәа ахьӡырҵахьан. XIX ашәышықәса аҩбатәи азыбжа аԥсуаа рҭоурых аҟны реиҳа ихлымӡаахыз аамҭаны иҟалеит. Аурыс-аҭырқәа еибашьра (1877-1878 шш.) иахҟьаны аԥсуаа рыхәҭак амшын ихылеит рыдгьыл иқәҵны. Амҳаџьырра шьаҭанкыла иаԥсахит Аԥсны аетникатә хсаала. Иҭацәыз адгьылқәа ирхылеит атәым милаҭқәа. Убас, 1886 шықәса рзы Аԥсны инхозҭгьы 85,7% аԥсуаа, 1897 шықәса рзы иаанхаз 55,3% роуп. Абри аамҭа иашьҭанеиуаз егьырҭ ажәашықәсақәагьы ари аҭагылазаашьа рацәак аиҭакра рзалмыршеит. Аԥсны Асовет мчра аагара XIX-тәи шәышықәса аҩбатәи азбжазы Аԥсны аҩнуҵҟатә ауаажәларратә еиҿкаашьала аешьаратә адыга-убых жәларқәа ирзааигәан. Урыстәылатәи аимпериа анхабгала ашьҭахь Аԥсны Еиду кавказтәи ажәларқәа реилазаареи Алада-Мрагыларатәи аилазаареи ирылалеит. Абҵарамза 8 1917 шықәсазы аԥсуа жәлар реизара аҿы иалхын раԥхьаӡатәи апарламент – Аԥсуа Жәлар Рхеилак, уи иаднакылеит аԥсуа жәлар Рконституциеи Адекларациеи. Хәажәкыра 4 1921 шықәсазы Аԥсны Асовет мчра шьақәыргылан, Аԥсны Советтә Социалисттә Республиканы ахьӡ рылаҳәан. 1925 шықәса рзы ирыдкылан ССР Аԥсны раԥхьатәи Аконституциа. Уи инақәыршәаны Аԥсны исуверену ҳәынҭқарраны ишьан. Аха иара убри ашықәс азы апартиатә органқәа рықәыӷәӷәарала ари апрект мап ацәкын. 1930 шықәса мшаԥымзазы иӡбан ССР Аԥсны Қырҭтәылатәи ССР аилазаара иалаҵазарц автономиатә республикак аҳасаб ала. 1931 шықәса жәабран 19 рзы Қарҭ иӡбан Аԥснытәи Асоветтә Социалисттә Республика автономтә статус аҭаны Қырҭтәыла иалаларц. Уи аганахь ала Аконституциа иалагалан аԥсахрақәа Аԥсны Ахеилак VII аизара ду аҟны, 1935 шықәса ажьырныҳәамзазы. Аконституциаҿы ажәақәа « Аԥсны Асовет Социалисттә республика» ԥсахын «Аԥсны Асоветтә социалисттә автономтә республика» ҳәа. Ус шакәызгьы аԥхьатәи ашықәсқәа рзы ареспубликаҿы анхамҩа-економикатәи асоциал-культуратәи ҿиара аҭыԥ аманы иҟан. Усҟан ауп аҿиара роуа ианалага раԥхьатәи аԥсуа интеллигенциа – арҵаҩцәа, аҳақьымцәа, анџьнырцәа, аҭоурыхдырыҩцәа. 1937 шықәса инаркны иалагеит ҳҭоурых аҿы иуадаҩӡаз аамҭа: аԥсуаа милаҭк аҳасабала иҵызшәаауаз аусмҩаԥгатәқәа реиҳарак убасҟан имҩаԥысуан, иреиӷьыз Аԥсны аҵеицәа рырӡра, аԥсуа школқәа раркра, аԥсшәа аҳәара азин аҟамзаара – абарҭқәа зегьы ирхысыр акәхеит уаанӡагьы гәаҟра згымыз аԥсуа жәлар. Маҷк аԥсеивгара ҟалеит 50-тәи ашықәсқәа раан, аха уи ашьҭахьгьы ес-жәашықәса аԥсуаа рмилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара шьҭыҵуан. Убас аԥсуа жәлар ақәгыларақәа мҩаԥыргон 1947, 1957, 1967, 1977,1978, 1988, 1989 шықәсқәа раан. Аԥсуаа рмилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара Асовет Еидгыла ахабгалара маҷк шагыз уи иалаз ареспубликақәа зегьы рҿы амилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара шьҭыҵуа иалагеит. Аԥсуаа рҳәынҭқарра иамаз административтә статус аҳаракразы иқәԥон. Уи аамҭазы Қырҭтәыла апарламент Аԥсны хазы ҳәынҭқаррак аҳасабала аҟазааразы иамаз азинқәеи алшарақәеи ҵнашәаауан. Аԥсныи Қырҭтәылеи ирыбжьалаз азинтә еилагарақәа раԥырҟәҟәааразы ԥхынгәы 23 1992 шықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет аӡбарала Аԥсны 1925 шықәсазтәи Аконституциахь игьежьит, иагьрыдыркылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Агерби Абираҟи. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Нанҳәамза 14 1992 шықәсазы ааигәа ООН иалалаз Қырҭтәыла бџьаршьҭыхла Аԥсны иақәлеит. Қырҭтәылатәи арбџьармчқәа – авиациа, акәылӡтәы техника, артиллериа уҳәа рыцырхырааны Аԥсны аҵакырадгьыл хәҭак ааныркылеит. Аԥсны иқәынхоз ажәларқәа рышьра анаҩсгьы – еиҳау хлымӡаахс иҟоузеи! – ара имҩаԥысуан акультуратә геноцидгьы. Иблын Аҭҵаарадырратә институт Аҳәынҭқарратә архив, уа иҟаз хәы змамыз аҭоурыхтә документқәа, алингвистикатә материалқәа, ашәҟәқәа, анапылаҩырақәа зегьы блит. Аибашьраан ааха ӷәӷәа роуит акультуратә, аҭоурыхтә баҟақәагьы. Цәыббрамза 30 1993шықәсазы Аԥсны ахы иақәиҭтәын. Аиааира аагара мариамхеит – 3 нызқьҩык рҟынӡа аҵеицәа Аԥсны ахақәиҭтәреи ахьыԥшымреи рхы ақәырҵеит. Аԥсуаа ирывагыланы ирыцеибашьуан Нхыҵ Кавказынтәи аешьаратә жәларқәа, аурысцәа, егьырҭ амилаҭқәа рхаҭарнакцәа. 1994 шықәса лаҵарамзазы Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәаа иаԥну аҭыԥқәа рахь инаган урыстәылатәи аҭынчеиҿкааратә мчрақәа. Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьа Абҵара 26 1994 шықәсазы Аԥсны Апарламент иаднакылеит Аконституциа ҿыц. Раԥхьатәи Аҳәынҭқарра Ахадас далхын Аԥсны жәлар рԥыза Владислав Григори-иԥа Арӡынба. 1994 шықәса ԥхынҷкәын мза инаркны 1999 шықәса цәыббрамзанӡа Аԥсны жәлар аекономикатәи, аполитикатәи, аинформациатәи блокадақәа ирҭакын. Аха аибашьра ашьҭахь егьа уадаҩра ҟалазаргьы аиааира згаз Аԥсны жәлар ркультура, рекономика, рҵарадырра, акурорттә сфера уҳәа хәыҷы-хәыҷла еиҭаҿио иалагеит. 1999 шықәса цәыббрамзазы Аԥсны жәлар зегьы злахәыз ареферендум аҟны Аҳәынҭқарра ахақәиҭреи ахьыԥшымреи амазарц шырҭаху азы агәаҳәара аадырԥшит, иагьрыдыркылеит уи азы иахәҭоу аҳәынҭқарратә акт. Нанҳәамза 26 2008 шықәсазы Урыстәыла Ахада Дмитри Медведев Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵаразы аусԥҟа инапы аҵаиҩит. 2008 шықәсазы Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵеит иара убас Никарагуеи Венесуелеи, 2009 шықәсазы – Науру, 2011 шықәсазы – адгьылбжьахатә ҳәынҭқаррақәа Вануату, Тувалу. 2011 шықәса нанҳәамзазы Аԥсны Ахадас далхын Александр Залатинска-иԥа Анқәаб. 2014 шықәса рзы, лаҵарамзатәи аполитикатә кризис ашьҭахь имҩаԥысыз жәларзегьтәи алхрақәа раан Аԥсны Ахадас далхын Рауль Џьумка-иԥа Ҳаџьымба, иара ихаҭыԥуаҩыс Витали Габниа. Рауль Ҳаџьымба официалла инапынҵақәа рынагӡара хациркит 2014 шықәса цәыббра 25 рзы. 2014 шықәса абҵарамза 24 рзы Шәача ақалақь аҟны, Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путини рнапы аҵарҩит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аиҩызареи астратегиатә партниорреи рзы Аиқәшаҳаҭра. Аиқәшаҳаҭра Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа еиҳа зхаҭабзиара ҳараку аҩаӡарахь икылнагоит, иазыԥхьагәанаҭоит атәылахьчареи ашәарҭадареи рзеиԥшҵакыра, адәныҟатәи аполитикаҿы аицусура, Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхраара. 2014 шықәса ԥхынҷкәын 22 рзы Аиқәшаҳаҭра аратификациа азуун Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны. 2015 шықәса ажьырныҳәа 23 рзы иара аратификациа азыруит Урыстәылатәи Аҳәынҭқарратә Думаҿ. Аиқәшаҳаҭра амчра аиуит аратификациатә шәҟәқәа анеимырда ашьҭахь, 2015 шықәса хәажәкыра 5 инаркны. Традициала Урыстәыла Аԥсны иахәаахәҭратә партниорны иԥхьаӡоуп. 2018 шықәсазы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара атауареикәыршара 258,6 миллион доллар артәеит. Убри аан урыстәылатәи аекспорт – 192,4 миллион доллар, аимпорт – 66,2 миллион доллар. 2019 шықәса ажьырныҳәа-хәажәкыра рзы атауареикәыршара ахышәаҵышәа 49,9 миллион доллар итәеит. Убри аан урыстәылатәи аекспорт – 38,9 миллион доллар, аимпорт – 10,9 миллион доллар. 2019 шықәса цәыббрамзазы Аԥсны аполитикатә кризис аҭыԥ аиуит. 2020 шықәса ажьырныҳәа 12 азы Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба инапынҵақәа шьҭеиҵеит. Изаамҭанытәим ахада иалхрақәа мҩаԥган 2020 шықәса хәажәкыра 22 азы. Аԥсны ахадас далхын Аслан Гьаргь-иԥа Бжьаниа. 2018 шықәса лаҵара 29 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеит Шьамтәылатәи Арабтә Республика. 2020 шықәса жьҭаара 6 азы Шьамтәылатәи Арабтә Республика, Дамаск ақалақь аҿы иаадыртит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа.
http://mfaapsny.org/helpful-information/history/
2024-02-26T10:15:23Z
<urn:uuid:32f02513-ac46-4f63-8241-bbffbf2ba177>
[]
[]
abk-Cyrl
0.99
1
0.99
65
29,702
tlsh:T18809BAD27C80CB4BC6B3D0598E918D396CD1AC524226B331CEC5F4B5264215DEFFCD13E9EAAC168B749F1222D112AF10AA4EFCE625BD7ED770D340956E2F28DD279432E19E
Уильиам Шекспир (англ. William Shakespeare; мшаԥымза 23 (лаҵарамза 3), 1564 ш., Стратфорд-апон-Еивон — мшаԥымза 23 (лаҵарамза 3), 1616 ш., Стратфорд-апон-Еивон) — еицырдыруа Англиз апоети адраматурги. Авикимедиаҿ еизгоуп абри атема иазку афаилқәа: Уильиам Шекспир Абиографиа[аредакциазура | акод аредакциазура] Уильиам Шекспир (1564-1616) ауаатәҩсатә ҭоурых аҿы зегь реиҳа ирдыруа шәҟәыҩҩы дуӡӡоуп. Иара диит Англиа агәҭаны Еивон ахықәан Стратфорд ақалақь хәыҷ аҿы. Уи иаб иԥа аҵара имазарц иҭахын азы Уильиам аҭыԥантәи ашкол ахь ддәықәырҵеит. Ашколаҿ аҵара аниҵоз ахәыҷы ихы дақәиҭны дҟалаӡомызт. Аха минуҭк аамҭа аниоуаз, абнахь ныҟәара, ма аӡиас Еивон ахықәахь дцон, уи дахәаԥшуан. Усҟантәи аамҭазы ақалақь аҿы атеатрқәа рацәаны иҟамызт, актиорцәеи, актрисацәеи рықәгыларақәа рыманы, ҭыԥк аҟынтә даҽа ҭыԥкахь ицалалар акәын. Урҭ зны-зынла Стратфордҟа иаалон. Вилиам урҭ рыхәмарра ахәаԥшра игәаԥхон. Иара ари азаанаҭ бзиа ибеит, иагьиӡбеит дактиорхарц. Иара Лондонҟа дцоит, уа иара дактирхоит. Убри аамҭазы иара апиесақәа рыҩра далагоит. Шекспир дагьактиорын, дагьдраматургын. Иара иусумҭақәа ирныԥшит иаамҭазтәи ауаа рыԥсҭазаара ахҭысқәа. Уи ипиесақәа ирацәаны атеатрқәа рыҟны иқәдыргылахьеит, еиҭаоуп атәым бызшәақәа рахь. Ари Шекспир даара деицырдыруа дҟанаҵеит. Иеиҳа иеицырдыруа ипиесақәа рахь иԥхьаӡоуп – «Отелло», «Акрал Лир», «Гамлет», «Ромеои Џьулеттеи». Урҭ иахьагьы ирылаҵәаны иҟоуп, атәылақәа рҿы шәахьнеилак ижәбар шәылшоит. Шекспир зынӡа 37 пиеса иҩит. Иара иреиӷьӡаз англиатәи атеатрқәа 25 шықәса рҟынӡа аус рыциухьан. Уильиам Шекспир иара убас ажәеинраалақәа рацәаны иҩит, зеиӷьыҟам асонетқәа налаҵаны. Уи иажәеинраалақәа рыла ашәақәа рацәаны ирҩхьеит. Иара зегь реиҳа иркьыԥхьуа, иеицырдыруа шәҟәыҩҩуп адунеиаҿ. Иара иԥсҭазааразы иаадыруа имаҷуп. Ҳара уаҩык иаҳасабала иара дзеиԥшраз гәааҳагӡар ҳалшоит уи аамҭазтәи алегендақәеи инхаз адокументқәеи рыла. Шекспир мшаԥымза 23, 1616 шықәсазы иԥсҭазаара далҵит. Иара иҩит 38 пиесеи ажәеинраалақәеи рацәаны. Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура] «100 текстк аԥсышәала», Аҟәа: Агәыҳалалратә Фонд Аԥсны аҿиара Афонд «Амшра», 2015 Ахыҵхырҭа – https://ab.wikipedia.org/w/index.php?title=Шекспир,_Уильиам&oldid=125966 Акатегориақәа: Уильиам Шекспир Англиати адраматургцәа Англиатәи ашәҟәыҩҩцәа 1564 шықәсазы ииз Лаҵарамза 3 рзы ииз 1616 шықәсазы иԥсыз Лаҵарамза 3 рзы иԥсыз Ацыхәтәантәи аԥсахрақәа абри адаҟьа аҟны: 17:51, 23 мшаԥымза 2023. Атекст ахьыманшәалоу Creative Commons Attribution-ShareAlike алицензиала иҟоуп; ахарҭәааратә ԥҟарақәа рылша рныруеит. Шәахә. Инарҭбааны шәахә. убас Ахархәаразы аԥҟарақәа.
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%A8%D0%B5%D0%BA%D1%81%D0%BF%D0%B8%D1%80,_%D0%A3%D0%B8%D0%BB%D1%8C%D0%B8%D0%B0%D0%BC
2024-02-25T17:28:55Z
<urn:uuid:c3e54f1e-6d41-44b6-b8ab-387e1e68e236>
[ "short_sentences" ]
[ "liste_bu", "wikipedia" ]
abk-Cyrl
0.8
0.86
0.95
14
4,594
tlsh:T16A04BB91AC04CF4BCA73D0989A91893618E1980346637231CEC5F4B115410A9EBFCC12A6FAF91A9FB4AF1126D566AE247A0EFCD9217D6EE331D310D53C3F24CE17647AD28E
Абарҭ агәалашәаратә алахьеиқәҵаратә амшқәа рзы Аҧсны иқәынхо ааӡаб ду зхызгаз аерман жәлар шәышҟа схы нарханы исҳәарц сҭахуп, адунеи зегьы зырхыџхыџыз ахҭыс хлымӡаахқәа ирылаӡыз аерман жәлар рыхьӡала шәхьааи шәгәырҩеи шшәыцеиҩаҳшо 24.04.2015 Аетнографиатә ансамбль «Ерцахә» аиубилеитә ныҳәа аҭаара Рауль Ҳаџьыимба даҭааит сынтәа аетнографиатә ансамбль «Ерцахә» ҩынҩажәа шықәса ахыҵра иазкыз аиубилеитә ныҳәа 23.04.2015 Аҵыхәтәантәи аамҭазы аҭоурыхтә-культуратә ҭынха аобиектқәа рыҧхасҭатәра афактқәа ахьырацәахаз инадҳәаланы, Ахада агәҭынчымра инаҭоит Хара имгакәа арҭ азҵаарақәа ирыхәаҧшуеи Ахада имҩаҧигараны иҟоу ҷыдалатәи аилацәажәараҟны 20.04.2015 Рауль Ҳаџьымба даҧылеит Ареспублика Науру аофициалтә делегациа Аделегациа иалахәуп ахада ихаҭыҧуаҩ, Ареспублика Науру афинансқәа рминистр Адеанг Давид Уаиау, афинансқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Хант Мартин Ханси-Саиа, Апарламент аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Акуа Ренин Рендольфи Апарламент адепутат Бурамен Сирили 20.04.2015 Мшаҧы 24 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә саит ирҿыцу ахкы аусура иалагоит. Мшаҧы 24 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә саит ирҿыцу ахкы аусура иалагоит. Уи Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахадеи Аҧсны Ахада Иусбарҭеи русура зныҧшуа ихадоу официалтә хархәаганы иҟалоит. 17.04.2015 Аҧсны Ахада Москва иусуратә визит Москватәи авизит аҳәаа иҭагӡаны Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Мрагылараҭҵаара аинститут аҟны Владислав Арӡынба изкыз алекциа даҧхьеит 17.04.2015 Ихыркәшоуп Аҧсны Ахада Москва иусуратә визит Мшаҧы 17 рзы ихыркәшан Аҧсны Ахада Москва иусуратә визит. Москватәи авизит аҳәаа иҭагӡаны Раули Ҳаџьымба Урыстәылатәи Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Мрагылараҭҵаара аинститут аҟны Владислав Арӡынба изкыз алекциа даҧхьеит, имҩаҧигеит иналукааша урыстәылатәи АИХ рредакторцәаеи Москва инхо аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәеи рҧылара. Ашьыжь аҳәынҭқарра ахада Аҟәаҟа дыҧрит. Ара иҽаилаирхәраны дыҟоуп аҧсуа-аурыс аиҳабырабжьаратә комиссиа реилатәара. 16.04.2015 Афорум азал маҷ аҟны имҩаҧысит Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Москва инхо аҧсуа уаажәларреи астудентцәеи рыҧылара Аиҧылара иалахәын Аҧсны Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Асҭамыр Ҭаниа, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба, Урыстәыла иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба, москватәи аҧсуа диаспора ахада Беслан Агрба. 16.04.2015 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә хеилак Амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба диҧылеит урыстәылатәи иколлега Николаи Патрушев. Аиҧылараҿы ирылацәажәан Аҧсни Урыстәылеи ртәылахьчареи ршәарҭадареи рзеиҧш цәаҳәа. Николаи Патрушев ҩ-ҳәынҭқаррак ршәарҭадаразы агәҽанҵара иазку аусхкқәа разырхиареи рынагӡареи ирызку аусбарҭабжьаратә усеицура алҵшәақәа бзиоуп ҳәа ахә ишьеит. 10.04.2015 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Москваҟа ивизит. Авизит аҳәаа иҭагӡаны Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа мрагылараҭҵаара аинститут аҟны Владислав Арӡынба изку алекциа даҧхьараны дыҟоуп 09.04.2015 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба диҧылеит урыстәылатәи арежиссиор Алеқсандр Сокуров Алеқсандр Сокуров Аҧсны Ахада изеиҭаиҳәеит Аҧсынтәыла иаҭаара иадҳәалаз игәаанагара атәы. 24.03.2015 Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан Адыгатәылантәи зхатәгәаҧхарала еибашьра иааз хабарда ибжьаӡыз аибашьҩы иҭаацәа Галинеи Валерии Диколенко дырҧылеит Рауль Ҳаџьымба адҵа ҟаиҵеит хабарда ибжьаӡыз аибашьҩы иҭаацәа атәанчахәы рзаужьразы 21.03.2015 Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Ахантәаҩы Дмитри Медведев Рауль Ҳаџьымба Имшира идиныҳәалеит. Алада иаагоуп адныҳәаларатә цҳамҭа атекст хаҭәааны. 15.03.2015 Ахада Апарламент аҧхьа иеизаз ауаа рышҟа ддәылҵит Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр имаҵура иамхразы азҵаара ықәзыргылаз Апарламент аҧхьа иеизаз ауаа рышҟа ддәылҵит. 13.03.2015 Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит иааираны иҟоу акурорттә сезон аҽазыҟаҵара иазку аусуратә еилацәажәара. Аилацәажәара аартуа, Рауль Ҳаџьымба дазааҭгылеит атәыла аекономикаҿы атуристтә ҟәша иамоу аҵакы ду. «Ҳара лассы-лассы атуристтә ҟәша ҳекономика ҧхьаҟа аҿиара алзыршо ак акәны ишахәаҧштәу ҳҳәоит, аха уи ибзианы аус аурц азы иҟаҵатәу рацәоуп», - иҳәеит Ахада. 13.03.2015 Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Иусҧҟала иаҧҵоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра акурортқәеи атуризми рзы аминистрра аекономика аминситрра аиҭеиҿкаарала Аминистр ҿыц иныҟәгаразы аныхтәқәа финансла реиқәыршәара алыршахоит 2015 шықәсазтәи аҳәынҭқарратә биуџьет азы азакәан аҟны аекономика аминистрра аныҟәгаразы иазгәаҭоу ахархәагақәа рыла. 12.03.2015 Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Гал араион актив иаҧылара иазку АИХ рзы ацҳамҭа. Хәажәкыра 12, 2015 шықәса, Гал. Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Гал араион актив даҧылеит. Аиҧылара иалахәын иара убас Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Асҭамыр Ҭаниа, гал араион аҟнытә Жәлар Реизара адепутатцәа Бежан Убириеи Ахра Кәакәасқьыри, Араионтә Еизара ахантәаҩы Иури Кәакәасқьыр, гал араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Темур Надараиа, араион ауаажәларра. 12.03.2015 Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигаз аилацәажәара иазку АИХ рзы ацҳамҭа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит Аҧсны асоциалтә-економикатә ҿиара ацхыраара аҭаразы Аинвестициатә программа асиа иалаҵоу аобиектқәа рыргыларатә усурақәа лассы рхыркәашара азҵаарақәа ирызкыз аусуратә еилацәажәара. 12.03.2015 Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Аконституциа ахәҭаҷ 45 инақәыршәаны Аҧсны Жәлар Реизарахь ирхынҳәит жәабран 25, 2015ш. ирыдыркылаз «Атәылауаҩра аҭагылазаашьа иазку Актқәа рзы» Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Аконституциа ахәҭаҷ 45 инақәыршәаны Аҧсны Жәлар Реизарахь ирхынҳәит жәабран 25, 2015ш. ирыдыркылаз «Атәылауаҩра аҭагылазаашьа иазку Актқәа рзы» Новости 2921 - 2940 из 2985 Начало | Пред. | 145 146 147 148 149 | След. | Конец | Все Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
https://presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/7452?PAGEN_1=147
2024-02-28T08:12:44Z
<urn:uuid:096b7036-0e4d-4c71-b55b-e546aca2a0bb>
[ "footer", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.78
0.99
58
10,932
null
Москватәи авизит аҳәаа иҭагӡаны Раули Ҳаџьымба Урыстәылатәи Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Мрагылараҭҵаара аинститут аҟны Владислав Арӡынба изкыз алекциа даҧхьеит, имҩаҧигеит иналукааша урыстәылатәи АИХ рредакторцәаеи Москва инхо аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәеи рҧылара. Ашьыжь аҳәынҭқарра ахада Аҟәаҟа дыҧрит. Ара иҽаилаирхәраны дыҟоуп аҧсуа-аурыс аиҳабырабжьаратә комиссиа реилатәара.
https://presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/2241/?print=Y
2024-02-24T19:05:33Z
<urn:uuid:d4d39219-ed1f-4422-99dd-d1bde6fa3c8e>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
1
3
712
tlsh:T133F88001F7408E5BC9B3C4568C9246716DE12C0797716211CD89F0A41A9614EEFFCD1351B7D8849EB4EB0502E1137E05074AECE5087EBAE3250204A87B7E78E93788798A9D
Иракли Кобахиӡе - Анеҩстәи шықәсык аҩныҵҟала Саломе Зурабишвили формалла мацароуп Қырҭтәыла ахадас дшыҟало - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Иракли Кобахиӡе - Анеҩстәи шықәсык аҩныҵҟала Саломе Зурабишвили формалла мацароуп Қырҭтәы... Иҵегь аҭагалара Иракли Кобахиӡе - Анеҩстәи шықәсык аҩныҵҟала Саломе Зурабишвили формалла мацароуп Қырҭтәыла ахадас дшыҟало 19:30, 18.10.2023 «Иахьа инаркны анеҩстәи ашықәс аҩныҵҟала, Саломе Зурабишвили формалла мацароуп Қырҭтәыла ахадас дшыҟало, лара Қырҭтәыла акәымкәа, «Амилаҭтә ҵысра» ахадас дҟалоит», — иҳәеит апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе. Иара иажәақәа рыла, ажәлар иалырхыз апарламент адепутатцәа реиҳара иахьа аофициалла ишьақәдырҕәҕәеит Саломе Зурабишвили атәыла ахада иҭыҧ шлыхәҭам. «Аилатәараҿы исҳәаз еиҭасҳәоит. Аимпичмент апроцесс акрызҵазкәа алҵшәа ахылҵит. Раҧхьа иргыланы, даҽазнык ишьақәсырҕәҕәар сҭахуп атәыла ахада Қырҭтәыла Аконституциа шеилалгаз, насгьы, ҳара лабҿаба иаабеит Саломе Зурабишвилии арадаикалтә оппозициеи рыбжьара алианс шышьақәгылаз. Ҳәарада, абарҭ аҩ-фактк аҵакы ду рымоуп. Ажәлар иалырхыз апарламент адепутатцәа реиҳара иахьа аофициалла ишьақәдырҕәҕәеит Саломе Зурабишвили атәыла ахада иҭыҧ шлыхәҭам. Убри аҟынтә ажәлар иалырхыз апарламент адепутатцәа реиҳара иахьа аофициалла ишьақәдырҕәҕәеит Саломе Зурабишвили атәыла ахада иҭыҧ шлыхәҭам. Анеҩстәи ашықәс аҩныҵҟала, Саломе Зурабишвили формалла мацара атәыла ахадас дҟалоит. Лара Қырҭтәыла акәымкәа, «Амилаҭтә ҵысра» ахадас дҟалоит. Саломе Зурабишвилии арадикальная оппозициеи заанаҵы абри асахьазы еиқәшаҳаҭхеит. Лара лоуп ари апроцесс ус ахьӡазҵаз. Дара, еидгыланы, асахьа ҕәҕәак аҧырҵар рҭахын, аха, ҳәарада, уи рзыҟамҵеит. Ҳуааҧсыра иахьа азалаҿ ирбаз асахьа ибзиаӡаны аанарҧшит Саломе Зурабишвилии арадикалтә оппозициеи алианс шышьақәдыргылаз. Убри азоуп ҧаса Саломе Зурабишвили агент, аҧшыхәаҩ ҳәа лзызҳәоз ауааҧсыра иахьа лпозициа зырыхьчо, избан?! Избанзар, дара еиқәшаҳаҭхеит», — иҳәеит Кобахиӡе. АПОЛИТИКА İrakli Kobaxidze Сaломе Зурaбишвили 3 Еиҧшу Иракли Кобахиӡе - Гурам Габескириа ихьӡ ҳареи игыло абиҧареи иаҳзаанхоит аҧсадгьыл азгәыкреи, аҟәышреи, ақәҧаратә ҟазшьеи аҿырҧштәы аҳасабала Иракли Кобахиӡе - Европарламент аҩныҵҟа ашәқәа ркны ирҳәо зегьы ақырҭуа жәлар еилыркаар, уи ҳажәлар дара рахь ирымоу азныҟәаразы анырра бзиа амазаауеит Иракли Кобахиӡе - Агәабзиарахьчара аминистр иҟны аимадара иазкны исҳәар сҭахуп, амедицинатә усхкы ахаҭарнакцәа агәынамӡара рыман, уи гәасҭеит Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҿырҧштәалагьы Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Италиатәи ареспублика ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Израиль ацҳаражәҳәаҩ Ҳадас Меицад дылҧылеит Франциа аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе амаҵзураҭыҧ ҿыц аанкылара идиныҳәалеит Иракли Кобахиӡе Швеицариатәи аконфедерациа ацҳаражәҳәаҩ дылԥылеит Иракли Кобахиӡе Павел Герчински диԥылеит Ахада ладминистрациа аинформациала, Саломе Зурабишвили визитла Британиа Д ашҟа ддәықәлеит Китаитәи ареспублика Қырҭтәыла атәылауаа рзы авизадатә режим шьақәнаргылеит Амш зеиҧшрахо 10° амҽ Қaрҭ ашә 11° аҩ 14° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Мамука Мдинараӡе - Зегьы еилышәкаар сҭахуп, Саакашвили амодернизациа асимвол аҳасабала ихәаҧшра ақырҭуа уаажәлар рыгәҭа антиевропатәи агәалаҟазаарақәа азнарҳауеит Иракли Кобахиӡе - Гурам Габескириа ихьӡ ҳареи игыло абиҧареи иаҳзаанхоит аҧсадгьыл азгәыкреи, аҟәышреи, ақәҧаратә ҟазшьеи аҿырҧштәы аҳасабала Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа Қарҭи арегионқәеи рҿы анаркоацәгьауразы жәаҩык ааныркылеит Санкт-Петербург ҩнык адрон ақәҳаит Урыстәыла Одессазы имҩаҧнагаз авиажәылара амшала аихагыла рацәа змаз ахыбра еилаҳаит, иҧсыз ауаа иҟоуп
https://1tv.ge/lang/ab/news/irakli-kobaxidze-aneuisti-shmqsmk-auinmckhala-salome-zwrabishvili-formalla-matcarowp-qmr%D2%ADtmla-axadas-dshmkhalo/
2024-03-03T04:36:24Z
<urn:uuid:7afda268-08eb-47ac-bcc0-ac3a6238083c>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.64
0.96
47
7,003
tlsh:T16F23DFE1AC40CF1BC573C1598A9299357CC26E5ACB61B260CED9F8B12746158EEFCC03A9FEFC5E5E60EB1411C572BF512209BCE714BDBFDB615600A11E2E34EA2B847286DE
https://sputnik-abkhazia.info/20191230/Asny-iatsyyz-akhatraa-2019-shysazy-rysazaara-ialit-1029034855.html Аԥсны иацәыӡыз ахатәрақәа: 2019 шықәсазы рыԥсҭазаара иалҵит Аԥсны иацәыӡыз ахатәрақәа: 2019 шықәсазы рыԥсҭазаара иалҵит Sputnik Аҧсны 2019 шықәсазы Аԥсны иаиуит ацәыӡқәа рацәаны, ҳажәлар ирыԥхеит еицырдыруа, зажәеи зуси акырԥхылнадоз, зышьҭа мыӡӡауа ауаа хатәрақәа. Иаҳгәалаҳаршәап урҭ. 30.12.2019, Sputnik Аҧсны 2019-12-30T17:41+0300 2019-12-30T17:41+0300 2019-12-30T17:53+0300 https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102304/15/1023041517_0:161:3069:1887_1920x0_80_0_0_6f67688748430afcf1702005cf3c110c.jpg Sputnik Аҧсны firstname.lastname@example.org +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 2019 Sputnik Аҧсны email@example.com +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 Ажәабжьқәа ab_AB Sputnik Аҧсны firstname.lastname@example.org +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 1920 1080 true 1920 1440 true https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102304/15/1023041517_168:0:2899:2048_1920x0_80_0_0_4a4e79876d1a382690697ef34c1f1a98.jpg 1920 1920 true Sputnik Аҧсны email@example.com +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 Sputnik Аҧсны аԥсны, ажәабжьқәа аԥсны, ажәабжьқәа Аԥсны иацәыӡыз ахатәрақәа: 2019 шықәсазы рыԥсҭазаара иалҵит 17:41 30.12.2019 (ирҿыцуп: 17:53 30.12.2019) CC0 / / Аԥсны иацәыӡыз ахатәрақәа: 2019 шықәсазы рыԥсҭазаара иалҵит CC0 / / Анапаҵаҩра 2019 шықәсазы Аԥсны иаиуит ацәыӡқәа рацәаны, ҳажәлар ирыԥхеит еицырдыруа, зажәеи зуси акырԥхылнадоз, зышьҭа мыӡӡауа ауаа хатәрақәа. Иаҳгәалаҳаршәап урҭ. Рушьбеи Смыр Аԥсны Жәлар рпоет, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат, "Ахьӡ-Аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Рушьбеи Смыр иԥсҭазаара далҵит ԥхынҷкәын 29 рзы, 70 шықәса дшырҭагылаз. Иуадаҩзаргьы, ак сашәҳәар сҭахуп: Рушьбеи Смыр изку гәҭахәыцрақәак 1 Нанҳәа 2019, 13:10 Рушьбеи Смыр акьыԥхь аҿы дцәырҵит 1965 шықәса инаркны, раԥхьаӡатәи иҩымҭақәа рнылоит агазеҭ "Бзыԥ" адаҟьақәа. 1973 шықәсазы иҭыҵыз раԥхьатәи иеизга "Аеҵәақәа рыкәашара". Апоет ирҿиара уагәылаԥшуанаҵы иҿаҿаӡа иааԥшуеит аҭоурых ахьышьҭра иахаану итәылеи ижәлари рлахьынҵа. Уи атема инарҭбааны иаазырԥшуа ажәеинраалақәа иреиуоуп: "Ԥсуаҵас", "Аԥсны", "Аҵан", "Сасрыҟәа", "Аԥсаратәи абаашқәа", "Уарада", "Жана Ачба", уҳәа убас егьырҭгьы. 1995 шықәсазы апоет ихҵан Адыга респулика Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуаҩ ҳәа ахьӡ, дрылан Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациеи Урыстәыла Ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи. Рушьбеи Смыр ипоезиатә рҿиамҭақәа еидызкыло аизгақәа 16 ҭыҵхьеит. Урҭ иреиуоуп: "Аеҵәақәа рыкәашара" (1973), "Ашьанҵа" (1976), "Ахҿа" (1979), "Сышьхақәа" (1981), "Ашыцқәа рашәа" (1985), "Акәукәуқәа еиқәҿырҭуеит" (1988), "Сҽыласқәа" (1990), "Рада гәышьа" (1994), "Аҳаҳаира" (1998), "Рарира" (2003), "Абжьы" (2005), "Слабашьа" (2008), ахәыҷқәа ирызку ажәеинраалақәа реизгақәа: "Арҵу" (2000), "Аҵыс иаҵәа" (2011). Иара убас, иҭыҵхьеит х-томкны иҟоу "Иалкаау иҩымҭақәа" реизга (2010, 2011, 2013). Гьаргь Гәыблиа Ашәҟәыҩҩы, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат Гьаргь Гәыблиа 92 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит абҵара 6 рзы. Иԥсҭазаара далҵит апоет, ашәҟәыҩҩы Гьаргь Гәыблиа 7 Абҵара 2019, 17:44 Гьаргь Гәыблиа диит лаҵарамза 15 1928 шықәса рзы Ҟәланырхәа ақыҭан. Аҭыԥантәиашкол ашьҭахь иара дҭалоит Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет. 1954 шықәса рзы Аҟәатәи арҵаҩратә институт афилологиа акафедра арҵаҩыс аусура далагеит. Иҩымҭақәа ркьыԥхьра далагеит 1950 шықәса рзы. Гьаргь Гәыблиа алитературатә журнал "Алашара" аредакторс дыҟан, ашәҟәҭыжьырҭа "Алашара" директорс даман. Гьаргь Гәыблиа — авторс дрымоуп аԥхьаҩцәа бзиа еицырбаз ажәеинраалақәа, апоемақәа, ароманқәа, адрамақәа. 2013 шықәса рзы Гьаргь Гәыблиа асахьаркыратә литератураҿы илагаламҭази аҿар реиҵааӡарази ианашьан аорден "Ахьӡ-Аԥша" III аҩаӡара. Арвелод Кәыпраа Аҭоурыхдырыҩ, ашәҟәыҩҩы Арвелод Кәыпраа 95 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Арвелод Кәыпраа аԥсуа культура аҿиара инапы алакын, иҭижьуан архивтә документқәа. Арвелод Кәыпраа диит жьҭаара 14 1924 шықәса рзы. Аҵарауаҩ-аибашьҩы: Арвелод Кәыпраа игәалашәаразы 12 Жьҭаара 2019, 12:27 Ставропольтәи аҳәынҭқарратә рҵаҩратә институт 1948 шықәса рзы далгеит. Аус иуан Аҽгәаратәи аурыс школ аҟны, Тҟәарчал апартиа ақалақьтә еилакы аҿы, Аԥснытәи аҳәынҭмузеи аҟны. 2004 шықәса раахыс Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны иусура иациҵон. Арвелод Кәыпраа инапы иҵижьхьан еиуеиԥшым амонографиақәа, арҵага шәҟәқәа, астатиақәа, аҭоурых иазку аочеркқәа. Гьаргь Ӡиӡариа ихьӡ зху аԥхьахә ианашьан, аорден "Ахьӡ-Аԥша" II аҩаӡара ианашьан. Кәасҭа Ченгьелиа Аԥсуа композитор, Дырмит Гəлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа занашьоу, иара убас апремиа "Летопись войны" иаԥсахаз, "Ахьӡ-Аԥша" аорден ахԥатəи аҩаӡара занашьоу Константин Ченгьелиа иԥсҭазаара далҵит 89 шықәса дшырҭагылаз. Арадио Аџьапуа Кәасҭа Ченгьелиа изы: ихы ихашҭуама уҳәаратәы аԥсуареи ашәақәеи дырзыҟан 25 Лаҵара 2019, 12:57 Кəасҭа Ченгьелиа аибашьра анцоз аамҭазы еиҿикааит ансамбль "Аиааира". Шəкы инареиҳаны аконцертқəа аибашьра ацəаҳəаҿи ахəышəтəырҭақəеи рҿы имҩаԥигахьан, ашəақəа маҷымкəа иҩхьан. Аиааира иасимволны иҟалеит Лиолиа Тəанԥҳа лажəақəа рыла Ченгелиа ииҩыз ашəа "Аиааира". Кəасҭа Ченгьелиа Очамчыратәи ансамбль "Ерцахə" еиҿикааит, Гəдоуҭа ансамбль "Риҵа" еиҿикааит, абыргцəа рансамбль "Нарҭаа" иманы Венгриа ицахьан, "Ахьтəы таташь" захьӡу аԥхьахәгьы рыманы иаиааит, ансамбль "Гəында" аус адиулон. Дравторуп хкы рацәала ашәақәа. Иури Ԥкьын Апоет, ауаажәларратә усзуҩ, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа алахәыла, "Ахьӡ-аԥша" аорден III аҩаӡара занашьаз Иура Ԥкьын иԥсҭазаара далҵит хәажәкыра 18 рзы. Иура Ԥкьын диит 1946 шықәса рзы, Блабырхәа ақыҭан. Абжьаратә школ далгеит 1966 шықәса рзы. Иара убри ашықәс азы дҭалеит Максим Горьки ихьӡ зху Горькитәи арҵаҩратә институт. Џьыкырԥҳа: Иура Ԥкьын - еснагь зхатəы бжьы зхаз, ажəлар ззыӡырҩуаз иакəын 20 Хәажәкыра 2019, 18:35 "Иԥсҭазаара далҵит апоет, апатриот, ауаажәларратә усзуҩ, аҟыбаҩ ҷыда злаз ҳҩыза бзиа Иура Ԥкьын", - иҳәоит Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа ахантәаҩы Мушьни Лашәриа. 1973 шықәса рзы иҵара хыркәшаны аусура далагеит Мысратәи ашкол-интернат аҿы ааӡаҩыс. Аус иуан Блабырхәатәи ашкол адиректорс, Мысратәи аиланхарҭатә хеилак ахантәаҩыс, аиланхарҭа ахадара аиҳабыс. Иура Ԥкьын поет бзиан, длирикын, акымкәа-ҩбамкәа ашәҟәқәа ҭижьхьан, 2003 шықәса рзы Ассоциациа анаԥҵаха инаркны, аилазаара далан. 1998 шықәса раахыс иура Ԥкьын Гәдоуҭа араионтә еизара хынтәны ахантәаҩыс далырххьан. Ианашьан "Ахьӡ-аԥша" аорден III аҩаӡара, иажәеинраалақәа "XX ашәышықәсазтәи аԥсуа поезиа антологиа" иалоуп. Џьума Аҳәба Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, ашәҟәыҩҩы, ажурнал "Аҟазара" аредактор хада Џьума Виссарион-иԥа Аҳәба иԥсҭазаара далҵит 82 шықәса дшырҭагылаз. Аҭуӷан 12 Хәажәкыра 2020, 17:17 Иналукааша аԥсуа шәҟәыҩҩы, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩ, "Ахьӡ-Аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу, Дырмит Гәлиа ипремиа алауреат Аҳәба Џьума Басариан-иԥа диит 1937 шықәса рзы, Очамчыра араион Аҭара ақыҭан. М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогикатә институт далгеит. Иара иаԥҵамҭақәа рыла аԥсуа литература акырӡа ихаҭәааит, рхатә ҭыԥ ҷыда ааныркылеит. Иара иҟазара, ихшыҩ, идырра акыр иааӡаган, ихатәран. Иҩымҭақәа аԥсуа литература ахьтәы фонд иазынхеит. Рома Аргәын Ажьырныҳәа 7 рзы 72 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит "Акьыԥхь аҩны" адиректор, аорден "Ахьӡ-Аԥша" ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Роман Аргәын. Наира Гәынԥҳа Роман Аргәын изкны: абык иеиҧш даҳзыҟан, иуаҩра ҳаракын 7 Ажьырныҳәа 2019, 18:39 Ахьӡ-Аҧша аорден ахҧатәи аҩаӡара занашьоу, Аҳәынҭқарратә наплакы "Акьыҧхь аҩны" адиректор хада Аргәын Роман Џьыгрыц-иҧа, Аҧсны аполиграфиа аус аҟны раҧхьатәи апрофессионалцәа дыруаӡәкын. Украинатәи аполиграфиатә институт даналга, аусура далагеит Аҟәатәи атипографиаҿы анџьныр-технологс, 1983 шықәса инаркны еиҳабыс дыҟан. 45 шықәса инареиҳан Роман Џьыгрыц-иҧа бзиа иибоз аус амаҵ азиуеижьҭеи. Аполиграфист, аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩ, акультура зҽалызкааз аусзуҩ Роман Аргәын акыр илша рацәоуп Аҳәынҭқарратә полиграфиатә наплакы аҿиареи, аиҭашьақәыргылареи рус аҿы. Инапы злакыз аус гәцаракрыла, ҭакҧхықәрала дазнеиуан, аус ицызуаз хаҭа-хаҭала патуқәҵарылаа дырзыҟан, еиликаауан, иуаҩреи иламыси ҳаракын.
https://sputnik-abkhazia.info/20191230/Asny-iatsyyz-akhatraa-2019-shysazy-rysazaara-ialit-1029034855.html
2024-03-05T00:59:26Z
<urn:uuid:7f04d7e6-8d78-416b-96bf-833a2cc9112b>
[ "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.9
0.75
0.93
67
13,930
tlsh:T135DEC152FF40CB4BC6B3D1499A918D356CC2AD170222B231CDD5F1B52B1609DEFFCD13AAEAA8068B74EF1222E111BE106A4EFDE5197DAFD371D340A16D6F38DE276476D08E
Шьалуа Папуашвили - Зурабишвили 1 200 000ҩык алхыҩцәа рлегитимациа аӡәык-ҩыџьак "Анационалцәа" рлегитимациазы илыҧсахит, иацы инаркны ҳара "Амилаҭтә ҵысра" иалырхыз ахада дҳамоуп - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Шьалуа Папуашвили - Зурабишвили 1 200 000ҩык алхыҩцәа рлегитимациа аӡәык-ҩыџьак "Анациона... Иҵегь аҭагалара Шьалуа Папуашвили - Зурабишвили 1 200 000ҩык алхыҩцәа рлегитимациа аӡәык-ҩыџьак "Анационалцәа" рлегитимациазы илыҧсахит, иацы инаркны ҳара "Амилаҭтә ҵысра" иалырхыз ахада дҳамоуп 14:32, 19.10.2023 «Саломе Зурабишвили 1 200 000ҩык алхыҩцәа рлегитимациа аӡәык-ҩыџьак “Анационалцәа” рлегитимациазы илыҧсахит, иацы инаркны ҳара “Амилаҭтә ҵысра” иалырхыз ахада дҳамоуп»», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили. Папуашвили ишазгәеиҭаз ала, Саломе Зурабишвили лмаҵзураҭыҧ лыхьчеит иацы «Амилаҭтә ҵысра» алахәылацәа иахьлыдгылаз аҟынтә, аха1 200 000ҩык алхыҩцәа рлегитимациа аӡәык-ҩыџьак “Анационалцәа” рлегитимациазы илыҧсахит, иацы инаркны ҳара “Амилаҭтә ҵысра” иалырхыз ахада дҳамоуп, аха, апарламенттә аиҳареи ҳуааҧсыра реиҳареи лыгәра ргом. «Аконституциатә аӡбарҭа ишьақәнарҕәҕәеит Қырҭтәыла ахада, закәандарала даҽа конституциатә органк азинмчқәа лхы ишадылҵаз. Аконституциатә аӡбара аӡбақәҵа уи шьақәнарҕәҕәеит. Егьи аганахьала, иацы апарламентаҿ аполитикатә аӡбақәҵа ҳауит, апарламенттә аиҳара ари аӡбамҭа рыдыркылеит Қырҭтәыла ауааҧсыра реиҳара рыхьӡала. Иацы Саломе Зурабишвили лмаҵзураҭыҧ лыхьчеит иацы «Амилаҭтә ҵысра» алахәылацәа иахьлыдгылаз аҟынтә. Аха, апарламенттә аиҳареи ҳуааҧсыра реиҳареи лыгәра ргом. Зурабишвили 1 200 000ҩык алхыҩцәа рлегитимациа аӡәык-ҩыџьак “Анационалцәа” рлегитимациазы илыҧсахит, иацы инаркны ҳара “Амилаҭтә ҵысра” иалырхыз ахада дҳамоуп», — иҳәеит Папуашвили. АПОЛИТИКА Сaломе Зурaбишвили Шьалуа Папуашвили 3 Еиҧшу Шьалуа Папуашвили - Евроеидгыла европарламентарцәа рцәахыхратә ҳәамҭақәа рыдгылара мап аҵәнакыроуп, ари аҟаҵаразы аамҭа ааит Шьалуа Папуашвили – Америкеи ҳареи ҳстратегиатә партниорра аекономикеи, ауаа рыбжьара аимадареи, авизада анеиааиреи, ишиашо авиареисқәеи, аинвестициақәеи ирныҧшроуп Ахада ладминистрациа аинформациала, Саломе Зурабишвили визитла Британиа Д ашҟа ддәықәлеит Шьалуа Папуашвили - Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рдонорцәа ирароуп, атәылантә ҳдәылцреи, атәыла рхала анапхгараҭареи аума ирҭаху, аӡбарҭа аилазаашьа ашьақәырӷәӷәара атәым тәылақәа ирусым Шьалуа Папуашвили - Ахақәиҭреи ахьыԥшымреи разықәԥараҿ украинатәи жәлар рфырхаҵара иҿырԥшыгоуп, ари еиҟарам аибашьраҿ Қырҭтәыла Украина адгылоит Саломе Зурабишвили - Ҩышықәса ҵит, аха Урыстәыла аиаара агара алымшеит, украинатәи жәлар реихшара алымшеит Шьалуа Папуашвили - Адонорцәа рахь ааԥхьара ҟасҵоит, апартиақәа рфинасркра иадҳәалоу NGO ԥаршеиқәа раԥыхра иазкны, ақырҭуа партиақәа атәымтә ԥара анроуа, ари Қырҭтәыла асуверенитет еиланагоит Шьалуа Папуашвили - Аиункерцәа рҭоурых еснагь иҳгәаланаршәоит ақырҭуа милаҭ ампыҵахалара ахаан шақәшаҳаҭуам Шьалуа Папуашвили - Ҳԥыза-министр иеиԥш, актәи авизила Бриуссель саҭааит, Саакашвили раԥхьаӡатәи ивизитла Москва ддәықәлеит Шьалуа Папуашвили - Қырҭтәыла евроатлантикатә қәыԥшылараҿ аинтеграциазы алшо зегь ҟанаҵоит - абри ауп Бриуссель ашҟа ҳашьҭымҭа хада Амш зеиҧшрахо 2° амҽ Қaрҭ ашә 3° аҩ 4° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Мамука Мдинараӡе - Зегьы еилышәкаар сҭахуп, Саакашвили амодернизациа асимвол аҳасабала ихәаҧшра ақырҭуа уаажәлар рыгәҭа антиевропатәи агәалаҟазаарақәа азнарҳауеит Иракли Кобахиӡе - Гурам Габескириа ихьӡ ҳареи игыло абиҧареи иаҳзаанхоит аҧсадгьыл азгәыкреи, аҟәышреи, ақәҧаратә ҟазшьеи аҿырҧштәы аҳасабала Санкт-Петербург ҩнык адрон ақәҳаит Иракли Ҕарибашвили – Ҳара ашәышықәсарацәалатә культуреи амилаҭтә принципқәеи змоу аконсервативтә жәлар ҳауп, уи ииашаны еилкаатәуп Германтәыла арратә чынуаа реиҿцәажәара анҵамҭа аурыс журналистцәа рнапаҿы иҟалеит, германтәыла ари афакт азы аусеилыргара иалагеит
https://1tv.ge/lang/ab/news/sh%D1%8Calwa-papwashvili-zwrabishvili-1-200-000uimk-alxmuitca-rlegitimatcia-adzmk-uimj%D1%8Cak-anatcionaltca-rlegitimatciazm-ilmphsaxit-iatcm-inarknm-hara/
2024-03-03T00:07:42Z
<urn:uuid:8e695bda-38dd-482a-88c5-a03b566d6268>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.94
0.63
0.96
49
7,427
tlsh:T16D31ADE15984DF0BD473D9689F918A363CD666078322B370CEC5B871164609DEFFCC1365FAF80A5EA19F1411E111BF105A45FCEB16BE7FD7616601A01E2E34EA23D4B68A9E
Анализи алкааҧҵәеи рзы Аусбарҭа Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аппарат Хада иатәу структуратә хырхарҭоуп. Ари аусбарҭа ауснагӡараан изықәныҟәо акәны иҟоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтә закәанҧҵареи, аҳәынҭқарра амчра зныҧшуа егьырҭ анорматив-зинтә актқәеи, ашәахтәқәареи, афинансттә-нхамҩеи, аусҧҟақәеи, аинструкциақәеи адҵаҧҟақәеи рызҵаарақәа ирыдҳәалоу. Анализи алкааҧҵәеи Русбарҭа ахықәкынагӡатә хадақәа иреиуоуп: – ашәахтәқәеи егьырҭ аизгақәеи рыхәҧсанаӡара ашьақәыргыларазы алкааҧҵәа ақәнаҟәара аус аиҿкаара, ашәаразы ишьақәыргылоу, мамзаргьы абиуџьеҭ ахь ишәахьоу, иара убас афинанстә санкциақәеи административтә хәдақәҵарақәеи; – ААР аинспекциақәа ақ. Аҟәеи егьырҭ араионқәеи рҿы имҩаҧырго акомплекстә гәаҭарақәа ахы рылархәра, ААР ақ. Аҟәеи егьырҭ араионқәеи рҿы анализи алкааҧҵәеи рзы рыҟәшақәа русушьа асистематә хылаҧшра рыҭара; – Аҧсны Аҳәынҭқарра ААР ақ. Аҟәеи, егьырҭ араионқәеи рҿы ашәахтә инспекциақәа ркомплекстә гәаҭарақәа раан аналитикатә усмҩаҧгатәқәа реиҿкаара, ахәҧсашәаратә дисциплина анализ азура, алкааҧҵәеи анализи рышәҟәқәа реидкылара; – алкааҧҵәақәеи ииашаны реиқәыршәашьеи, иахьынӡаҵабыргуи ахылаҧшра аҭара, ААР ақ. Аҟәа, егьырҭ араионтә аинспекциақәагьы ирыдыргало ақьаадқәа рҟнытә; – Аҧсны Аҳәынҭқарра ААР анапхгара рзы алкааҧҵәақәеи егьырҭ ақьаадқәеи анализ рзура, алкааҧҵәа аҟаҵара; – Аҧсны Аҳәынҭқарра ААР анапхгара рзы иҧшаам ашәахтәқәеи егьырҭ аизгақәеи алкааҧҵәақәа реиқәыршәара; – ашәахтә хәҧсарақәа ралагалашьа адекадатә еизгара рнырҧшра; – азаанаҭдырреи азаанаҭеиҭасреи рыла аҟәшақәа русзуҩцәа ирызку аусмҩаҧгатәқәа реиҿкаара, рымҩаҧгара анализи алкааҧҵәақәеи рыҟәшақәа русзуҩцәа аҧхьа инаргыланы;
https://mns-ra.org/eng/central/analysis_and_reporting/
2024-03-03T05:36:39Z
<urn:uuid:b7544c69-3f3d-427f-9552-62fed8118f35>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
0.99
11
3,100
tlsh:T1A99BAB5145409797C4B3C08486A1DE362CE2641B4221EA31CE84B8B40F8200AD7BCC12BEBAF945CA64BB1612D21A6B24972FEDD968BD77D2B04580919E6E7CDD37F57DD6DC
Апрель 14 1994 шықәсазы Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Владислав Григории-иҧа Арӡынба инапы аҵаиҩит Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Ақәҵара «Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан аус аруразы аиҿкаатә «Аҧсны ашәахтәқәеи аизгақәеи Рҳәынҭқарратә маҵзура азы». Ари арыцхә Аҧсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аҳәынҭқарратә маҵзура анапҵахаз мшуп. Анаҩс, декабрмза 2002 шықәсазы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусҧҟала ари амаҵзура Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аҳасабала ишьақәыргылахеит. Апрельмза 1994 шықәсазы ашәахтқәеи аизгақәеи рзы Аҳәынҭқарратә маҵзура раҧхьатәи анапхгаҩыс дҟалеит Беслан Константин-иҧа Кәыбраа. 1998 инаркны 1999 шықәсанӡа ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра напхгара аиҭон Григори Ражьден-иҧа Еныкь. 1999 инаркны 2002 шықәсанӡа Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрс дыҟан Константин Константин-иҧа Озган. 2002-2005 шықәсқәа рзы ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрс аус иуан А.Н. Лышәба. 2005-2010 шықәсқәа рзы ашәахтқәеи аизгақәеи рминистрс аус иуан Вахтанг Ахра-иҧа Ҧиҧиа. 2010 инаркны 2016 шықәсанӡа ашәахтқәеи аизгақәеи рминистрс аус иуан Рауф Аслан-иҧа Цымцба. Октиабрмза 2016 шықәса инаркны 2021 шықәсанӡа ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра напхгара аиҭонДаур Лионти-иҧа Кәырмазиа. Лаҵарамза 2021 шықәса инаркны аминистрра напхагара изиуеит Нанба Џьансыхә Едуард-иԥа. Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра шьақәгылоуп аппарат Хадеи, Гагра, Гәдоуҭа, Аҟәа, Гәылрыҧшь, Очамчыра, Галл араионқәеи Аҟәа ақалақьи рҿы иаҧҵоу ашәахтә инспекциақәа рыла. Аппарат Хада аилазаара иалоуп анаҩстәи аусбарҭақәа: азинтә хаҿрақәа ршәахтәқәҵаразы аусбарҭа; ахатә хаҿрақәа ршәахтәқәҵаразы аусбарҭа; аоперативтә усбарҭа; анализи алкаақәҵеи рзы аусбарҭа; азинқәҵаразы аусбарҭа; акадрқәеи аусеилыргареи рзы аусбарҭа; афинансқәеи аҧхьаӡаратәреи алкаақәҵеи рзы аусбарҭа; аинформатизациазы аусбарҭа. Раҧхьаӡа иргыланы, хықәкынагӡарак аҳасабала Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аҿаҧхьа иқәгылоуп атәыла аекономика иаҵанакуа асубиектқәа зегьы рыбжьара ашәахтә закәанҧҵара аусура хылаҧшра аҭара, иҧҵәоу ашәахтқәеи, егьырҭ аизгақәеи рыгжьра амҭакәа, ианаамҭоу аҳәынҭқарратә биуџьеҭ ралагаларазы. Аппарат Хада аусбарҭақәа рпрактикатә усура ҵаҵҕәыс иамоуп ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра ауснагӡара хра злоу ахырхарҭақәа рыла, «Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтә маҵзуразы» захьӡу Азакәани, аминистрра аусбарҭақәа рықәҵарақәеи рыла.
https://www.mns-ra.org/ab/company/?
2024-02-22T13:55:05Z
<urn:uuid:1c138cd5-237a-46c6-90d9-c1927b477363>
[]
[]
abk-Cyrl
0.94
1
1
12
4,308
tlsh:T1A8B7C1917D409BB7C5F3C04986A1AA364CD2A4170271F130CE85B4B00B82049D7FCD23EEF9E8068AB46B1551D139AF24AA1BFEE574BD6BD7304280616E1F68DD37D0BDE69E
С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҿы имҩаԥысит Москва инхо, аҵараиурҭақәа ирҭоу аҿар рымчала еиҿкаау Аԥсны аҿар рырҿиаратә хеидкыла аӡыргара. Уи иалагеит Аԥсны агимн арҳәарала. Асоциалтә бызкаҭаҳақәа рнырра Жәабран 08, 2024 Ишдыру еиԥш иахьатәи ҳаамҭазы, ауаҩы иԥсҭазаараҿы асоц­иалтә бызкаҭаҳақәа инарыгӡо ароль хымԥада даара ирацәоуп. Ишақәнагоу ахырхарҭала зхы иазырхәо рзы даара ихәарҭа дууп ҳәарада, аха убри аан иҟоуп иахьҽеимгьы. Астатиақәа Раҧхьатәи ацҳаражәҳәаҩ Жәабран 08, 2024 Игор Ахба ихьӡ, Аҧсны еиҧш, анҭыҵгьы ирдыруеижьҭеи акыр ҵуеит. Ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы 1991 ш. ииун акы инаркны Урыстәылатәи Афедерациаҿы Аҧсны ахаҭарнакс дыҟан, 2008 ш. нахыс – Аҧсны ацҳаражәҳәаҩ гәрагас аус иуит 2021 ш. рзынӡа. Астатиақәа Аԥсны ажәытәхаҳә аамҭазы Жәабран 08, 2024 Аҧсны - агеи-ашьхеи ирыгәҭылаку атәыла ссир. Ҳаҧсадгьыл аҭоурых ду, адунеи аҭоурых иахәҭакуп. Араҟа шьахәла иаарҧшуп ауаҩытәыҩса дызнысыз аамҭақәа зегьы. Неиҧымкрада, шәышықәсала ҳхылҵшьҭрақәа иахӡыӡааны ркультура абиҧарала еимырдон. Аҧсны ауаҩы иҧылоит азқьы­шықәсақәа ирықәлоу абаҟа ссирқәа. Адунеи аҳәынҭқаррақәеи ажәларқәеи, асеиҧш аҭоурых ҵаула иахыҽхәартә измоу, рхыҧхьаӡара рацәам. Афымцамч акәша-мыкәша Жәабран 07, 2024 2024 шықәса февраль 2 азы Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба инарҭбааз аилацәажәара мҩаԥигеит араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа, амчратә усҳәарҭақәа рнапхгаҩцәа, Аиҳабыра иалоу алархәны. Аилацәажәара иалахәын Аԥыза­-министр Алеқсандр Анқәаб, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа. Астатиақәа Азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы Жәабран 07, 2024 Алхрақәа рылҵшәақәа рхашшаареи рыхәаԥшреи рыҿҳәарақәа реиҵатәра, аҩбатәи алхрақәа раан 10 процентк инареиҳаны ауаа рхыԥхьаӡара азырҳара, «Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рзы» иахьа иҳамоу Аконституциатә закәан аиҭакрақәа ралагаларазы егьырҭ ажәалагалақәа жәпакы ртәы еиҭеиҳәеит «Аԥсныпресс» иеиҭаз аинтервиу аҟны Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Дмитри Маршьан. Астатиақәа Аҭел «иатҟәаз» ахәыҷы Жәабран 07, 2024 Ааигәа аҭыҧ змаз ахҭыс Аҟәатәи аҩбатәи абжьаратә школи Гәдоуҭа иҟоу ахәҳахәҭратә центр «Вавилони» артҟәацга аҵоуп ҳәа амц жәабжь азы иаанкылаз ахәыҷы ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа излашьақәдыргылаз ала, уи иҽаҵаиҩит иарку ателеграмм-канал, уи амодераторцәа Аҧсны анҭыҵ иҟоу роуп. Астатиақәа Ашәарҭадара згьы ирыцкуп Жәабран 07, 2024 Аҳәынҭқарра Ахада – Арбџьар Мчқәа Ркомандаҟаҵаҩ хада дырзыӡырҩит атәылахьчара Аминистрра 2023 шықәсазтәи аусура алҵшәақәеи ҳазҭоу ашықәс азы иазԥхьагәаҭаны ирымоу ауснагӡатәқәеи. Атәылахьчара аусбарҭа анапхгаҩы адырра ҟаиҵеит Арбџьар Мчқәа рҟны аибашьратә, аоперативтә ҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысуеи, аԥсуа ар рыҿиара ахырхарҭа хадақәеи рзы. Астатиақәа Адоуҳатә ҭынха аиқәырхаразы Жәабран 07, 2024 Ааигәа здоуҳатә ҭынха наӡаӡа иаҳцәыӡыз, раԥхьатәи аԥсуа професионалтә сахьаҭыхҩы, адунеиаҿ зыхьӡ еицырдыруа Алеқсандр Константин-иԥа Чачба ажәлар рыҿиараҿы акультуреи аҟазареи рҵакы дазааҭгыло иҩуан: «Аҟазара змам атәыла, ԥхьаҟа бзиарак ҳәа акагьы азыԥшӡам; уи ауаатәыҩса рдоуҳа ԥсхьеит, ԥсҭазаашьас ҳәа ирымоугьы – аилабаароуп» ҳәа.
https://gazeta-apsny.info/itemlist/user/806-aslan?start=40
2024-02-24T15:37:32Z
<urn:uuid:4fe3de85-1610-414f-b3cb-4af3cac1b44f>
[ "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.96
1
0.99
26
5,569
tlsh:T19FFB99B18B808B8BD5B3C0948B818A356CD16C5747227270CED9B470564609CEAFCD13DAFAE8158A74EB1232D296AF14990BFDFA257E6BD7719200A13D3F34DD2BA476C1DE
Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҟəа ақалақь администрациа ахада инапынҵақəа назыгӡо Кан Кəарҷиа аколлектив дыдирдырит. Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Беслан Барцыц Аҟəа ақалақь администрациа ахада инапынҵақəа назыгӡо изы Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада иҟаиҵаз Аусҧҟа даҧхьеит. Ахада Рауль Ҳаџьымба иаҵшьны иазгəеиҭеит ақалақь ахаҿра есааира ишеиҕьтәтәу. «Аиҭакрақəа аҭахуп. Сгәыҕуеит, анапхгара ҿыц ирылшо зегь ҟарҵоит ҳәа ҳақалақь ахаҿра аиҕьтәразы. Азҵаарақəа рацәоуп, ақалақь ацқьара инаркны афымцамчы атема аҟынӡа, ӡыла аиқəыршəара, акыр шықəса раахыс азакəантə шьаҭа змам аргыларақəа, урҭ аҭыҧ рыман егьырҭ ашықəсқəа рзы иҟаз анапхгаҩцəа рхаангьы. Анапхгаҩы инаиркны аӡәгьы акагьы ианажьхаӡом. Ақалақь, егьырҭ ҳраионқəеи ҳақалақьқəеи рбиуџьет аасҭа акыр еиҳау, ареспубликатə биуџьет ахь ацхыраара иамыҳəаразы аусқəа еиҿкаатəуп. Ақалақь хымҧада аҽаҧсахроуп», - иҳəеит Ахада. Ахада иара убас Аҟəа ақ. администрациа ҧасатәи ахада иусуразы иҭабуп ҳәа иеиҳәеит. Кан Кəарҷиа Ахада ҭабуп ҳəа иеиҳәеит ииҭаз агəрагаразы. «Иҭабуп исышәҭаз агəрагара ду азы. Сусуреи аколлектив аусуреи рыла иҟоу алшара аарҧшра, ашьҭыхразы исылшо зегьы ҟасҵоит. Ҳарҭ ҳхы иаҳырхəоит афинанстəи ауааҧсыреи рылшарақәа ҳауаажəлар рыбзазара аиҕьтəразы. Сгəы иаанагоит ауаа ҳаилыркаап, иҳадгылап ҳəа», - азгәеиҭеит иара. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/11185/
2024-02-24T22:37:11Z
<urn:uuid:8d9f98af-6578-45f8-9dd8-eaf7da334b98>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.88
0.87
0.94
15
3,246
tlsh:T19CEF06618C44CB07C673C899EB915A346CC1684A17327650CCC9B4B11187059EEFCD139AFBE8194A64EB6612D1667F00A80D7DEA387DABC7305242A53C3F38CD2BA475C25D
Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭаҟны имҩаԥысит Аԥсны Ахадеи урыстәылатәи аԥсуа наплакыҩцәа рхаҭарнакцәеи злахәыз иаарту аиҿцәажәара. Аиҿцәажәараан Ахада абизнес-уаажәларра ахаҭарнакцәа рҟынӡа инеигеит аҳәынҭқарра имҩаԥнаго аекономикатә хырхарҭазы аинформациа, иара убас ирылацәажәан иактуалтәу аполитикатә мышхәаԥштә аҟны иқәгылоу атемақәа. Ҷыдала, Аԥсны Аҳәынҭқарра аекономика адәныҟатәи аинвестициақәа радԥхьалара, апартаментқәа рыстатус азинтә ҳәаақәҵара, афымцамчтә усхк иадҳәалоу апроблемақәа ирызку уҳәа, егьырҭ атемақәагьы. Арҭ азҵаарақәа рзы агәаанагарақәа реимдара анаҩс, иӡбан Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны инарҭбаау аиԥылара амҩаԥгаразы аишәа гьежь аиҿкаара. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/15219/
2024-02-24T21:56:50Z
<urn:uuid:94a75996-26c7-4e1d-96a1-294a5f11d290>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.83
0.83
0.95
12
2,152
tlsh:T1673A05417940D7CBD6B3D0A99D828E34A9C05807463277A0CE8DF5B00683049EBFCD12E6AAE5154B68E70512C192BF25A90DFDE9647D6ED3318211E13C3F78DD379076D5AE
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҩныҵҟатәи Аусқәа рминистрра аусзуҩцәеи аветеранцәеи Амилициа амш рыдиныҳәалеит. Адныҳәалараҿы, иҳәоуп: "Ҳаҭыр зқәу аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәеи аветеранцәеи! Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа. Ауаажәларратә еиҿкаара ахьчареи, ҳтәылауаа ршәарҭадара ахылаҧшреи, ацәгьоура иаҿагыланы ақәҧареи рыҟны шәусура хәы амам. Шәара азакәан шәықәныҟәоит, аҭынчра ахьчаразы есыҽны шәыҧсҭазаара ашәарҭара иҭагылоуп. Шәара шәусура ҭакҧхықәрала азнеиреи шәыгәаӷьреи рзы ҳаҭыр ду шәықәуп. Ҷыдала иҭабуп ҳәа расҳәоит аҩныҵҟатәи аусқәа рветеранцәа амилициа аҿиареи ашьақәгылареи рыҟны хәы змаӡам рлагалазы. Шәара шәҧышәеи шәдырреи акырӡа аҵанакуеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра абиҧара ҿа рзы. Ари амш аҽны ҳара иаҳгәалаҳаршәоит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы 1992-1993ш.ш. рзы Аҧсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз амилициа аусзуцәа. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра 300-ҩык инарзынаҧшуа аусзуҩцәа аибашьра иалахәын, урҭ рахьтә иҭахеит 41-ҩык, Аҧсадгьыл ахьчаразы иаадырҧшыз афырхаҵареи, агәаӷьреи, рмаҵзура ламыс цқьала анагӡареи рзы 132- ҩык амилициа аусзуцәа иреиҳау аҳәынҭқарратә ҳамҭа иаҧсахеит, урҭ рахьтә 25-ҩык - Аҧсны Афырхацәа ҳәа ахьӡ рыхҵоуп. Агәра згоит аҧхьаҟагьы шәдырреи шәымч-шәылшеи ауаажәларратә еиҿкаара ишадышәҵо, ҳтәылауаа ринтересқәеи рҭынчреи рыхьчара ишырзышәкуа. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит шәусуразы, шәгәымшәаразы, Аҧсны Аҳәынҭқарра амаҵ ахьазыжәуа. Ишәзааигәоуи шәареи агәабзиареи, аҭынчреи, аихьӡарақәеи шәзеиӷьасшьоит. Иара убас, 2023ш.абҵарамза 7 рзы Аҳәынҭқарра Ахада Аусҧҟақәа инапы рыҵаиҩит аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуцәа "амилициа аполковник" ҳәа ахьӡ рыхҵаразы. "Амилициа аполковник" ҳәа иҷыдоу ахьӡ рыхҵоуп: Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа аиҳабы Аиба Денис Сулҭан-иҧа; Тҟәарчал араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аиҳабы Биџьев Арсен Хәсин-иҧа; Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи Аусқәа рминистрра Ашьаусҧшааратә усбарҭа аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Ҷолариа Реналд Грант-иҧа. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
https://presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/16090/
2024-02-21T16:06:07Z
<urn:uuid:c11e6927-fcac-4bb5-bf2d-849693738680>
[ "footer", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.91
0.9
0.98
21
4,428
tlsh:T1890610915B04CB9BC1B3C059DED19A3668D5AC465372B670CECAF4B11741049EABCD13E9FAEC058AB4E71961D261BF116A0EEDE929BD7BD3305240616D2FB8CC23D0B5C56E
ҧсҭазаараҿы дцәырҵит ҳҭоурых аҿы реиҳа ихьанҭаз аамҭақәа раан. Иара атәыла ахадас дҟалеит, политикала мацара акәымкәа, доуҳалагьы ижәлар аҧызара рызуа. Аҧсны азинқәа рыхьчареи уи ахақәиҭразы ақәҧареи – иҧсҭазаара зегь зқәиҵаз уалҧшьас дазнеит. Владислав Арӡынба. Астудентра ашықәсқәа © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Владислав Арӡынба, 80-тәи ашықәсқәа © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Аполитикахь Арӡынба дааит аҭҵаарадырра ашҭа дҭыҵны. Мрагылараҭҵаара знапы алакыз, адунеи зыхьӡ адырхьаз аҵарауаҩ инапы алакын ажәытәӡан Азиа Маҷ иқәынхоз ажәларқәа рҭоурыхи, ркультуреи, рхаҵарақәеи рыҭҵаара. Хаҭалагьы, уи иҭиҵаауан ажәытәтәи ахаттцәеи ахеттцәеи. Ахаттцәа, иара излаиҧхьаӡоз ала, аҧсуа-адыга жәларқәа иргәыцхәызар ауеит. Москва исхызгаз сымшқәа зегьы Ажәытәтәи Мрагылара аҟәша иадҳәалан. Уаҟа аусура салагеит с-аспирант қәыҧшны, Мрагылараҭҵаара Аинститут ааныжьны санцоз – Ажәытәтәи Мрагылара аидеологиеи акультуреи рсектор аиҳабыс, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдокторс сҟалахьан. Владислав Арӡынба игәалашәарақәа рҟынтә Владислав Арӡынба истудентра шықәсқәа раан © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Владислав Арӡынба акандидаттә диссертациа ихьчеит 1971 шықәсазы, адоктортә – 1985 шықәсазы. Мрагылараҭҵаара Аинститут аҿы Ажәытәтәи Мрагылара аидеологиеи акультуреи рсектор напхгара азиуан, 40 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа дравторуп. Владислав Арӡынба аҭҵаарадырратә маҵураныҟәараан Берлин, 1986 шықәса © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Ҭырқәтәыла, 1969 шықәса © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Ешыра, 1975 шықәса © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Владислав Арӡынба аҭҵаарадырратә маҵураныҟәараан Берлин, 1986 шықәса © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Владислава Арӡынба изааигәаз ауаа лассы-лассы иазгәарҭалон, иара аполитикахь иааира хатәгәаҧхарала ишыҟамлаз. Анаҩс иаргьы ииҳәалон аинститут аҿы иусура шыгәхьааигоз, аҭҵаарадырра азыхынҳәра дшазгәышьуаз атәы. Аха ианаҭахха аамҭазы Владислав иоуп аҧсуаа рмилаҭтә-хақәиҭратә қәҧара аҧхьагылара аҭаны, шәышықәсалатәи ҳажәлар ргәаҳәа –ахақәиҭреи ахьыҧшымреи риоура – наӡартә иҟазҵаз. Аполиткцәа ирылаҽуа реиҳа ишәарҭоу чмазароуп – амчра рнапаҿы аагара дара рхатә хықәкқәа рынагӡаразы. Владислав Арӡынба 1988 шықәсазы Владислав Арӡынба идыргалеит Аҧсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут дахагыларц. Иара иҧсадгьыл ахь дхынҳәуеит 22 шықәса раахыс Москва инхара ашьҭахь, аҧсуаа рмилаҭтә-хақәиҭратә қәҧара агәы ахьеисуаз аинститутгьы дахагылоит. Аибашьра ҟалаанӡатәи аамҭазы, Владислав Арӡынба ида, сара издыруаз аҧсуа политикцәа рыбжьара аӡәгьы дазыхиамызт амилаҭ рлахьынҵазы аҭакҧхықәра нагӡа агара. Амилаҭтә-хақәиҭратә қәҧара аидеологс аҟазаара – акоуп, аха уи ақәҧараҿы аҧхьагылара зегьы ирылшом. Геннадий Аламия Ауаажәларратә усзуҩы, апоет Left Right Владислав Арӡынбеи Аҧсуаҭҵааратә институт аусзуҩцәа Иура Аргәыни, Сергеи Шамбеи, Иури Воронови, Игор Ҵнариеи © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Владислав Арӡынбеи уи иколлегацәа археологцәеи © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Аҧсуаҭҵааратә институт ахыбра 1992-1993 шықәсақәа рзтәи Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра ҟалаанӡа © Георгиос Григориадис Владислав Арӡынба Женева, 1997 шықәса © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Аполитикатә напхгаҩы зегь ирыцку иҟазшьа – ажәлар ргәы ашьҭыхра алшароуп. Ҳара ҳхада уи илшеит, избанзар ус еиҧш аҟыбаҩ иман. Фазиль Искандер 1988 шықәсазы Владислав Арӡынба далырхуеит Аҧснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс. Убраҟа иалагоит заҧхьаҟа ихьыҧшым аҧсуа ҳәынҭқарра ашьаҭакҩыс иҟалаша ауаҩы иполитикатә мҩа. 1989 шықәсазы ҳтәылаҿы аҧсуааи ақырҭқәеи ретнополитикатә еиҿагылара акырӡа иӷәӷәахеит. Аҧсуа жәлра даҽа аамҭанык еиҧшымкәа аинформациатә, аполитикатә цхыраара рҭахын, избан акәзар Қырҭтәыла анапхгара ирылшоз зегь ҟарҵон аҧсуааи ақырҭқәеи ҭоурыхла, зинеилагарала иаауа реиҿагылара амзызқәаҵәҟьа рҵәахырц. Абарҭ ахҭысқәа анымҩаҧысуаз аамҭазы Арӡынба далырхуеит СССР Жәлар рдепутатс, иара убас СССР Иреиҳаӡоу Асовет адепутатсгьы. Хара имгакәа дҟалоит СССР Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум алахәылас, анаҩс автономтә еиҿкаарақәа рҳәынҭқарратә, рзинтә статус азы акомиссиа маҷ ахантәаҩыс. СССР Жәлар рдепутат Владислава Арӡынба иқәгылара СССР Иреиҳаӡоу Асовет асессиаҟны, Москва, ҧхынгәы 1989 шықәса © АГРТК 1990 шықәсазы Арӡынба далырхуеит Аҧснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩыс. Атәыла ахада ҿыц аханатә илихит амҩа – Аҧсны жәлар, егьырҭ ажәларқәа реиҧш, иузаҟәымҭхо ирымаз ахҳәаақәҵаразы азин аус ауртә иҟазҵашаз. Нанҳәа 25, 1990 шықәсазы Иреиҳаӡоу Асовет асессиаҟны ирыдыркылеит адекларациа, Аҧсны ихьыҧшыму ҳәынҭқарроуп ҳәа зҳәоз. Аха Қарҭ уи ҵабыргым, азинтә мчы амам ҳәа рыланаҳәеит. Left Right Владислав Арӡынба, Москва, Асасааирҭа «Россиа» © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Владислав Арӡынбеи уи ицнагаҩцәа Сергеи Шамбеи Виачеслав Цыгәбеи, 1989 шықәса © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Владислав Арӡынбеи СССР Иреиҳаӡоу Асовет Жәлар рдепутат Алықьса Гогәуеи, Москва, Асасааирҭа «Россиа», 1989 шықәса © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Владислав Арӡынбеи РСФСР аҩадатәи арегионқәа рҟынтә иаашьҭыз Жәлар рдепутатцәеи, СССР Иреиҳаӡоу Асовет, 1989 шықәса © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Кавказ аибашьра аныҟала – иаабац еибашьрак аиҳа еицәоуп. Уи шәышықәсалатәи аҭоурых аҵәаӷәа ахьшьроуп иаанаго. Владислав Арӡынба Нанҳәамза 14 ашырҧазы Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар Егры аӡиас ала аҧсуа-ақырҭуа ҳәаа иахысны ҳтәыла иалалеит Аҟәеи Гали еимаздо амҩаду ианыланы. Аҳҭнықалақь аҭынч уааҧсыра аибашьра ишалагаз анеилыркаа ақырҭқәа равиациа ракетала – аҧсшьаҩцәа рыла иҭәыз амшын аҟәареи ақалақьи иалахсуа ианалагоуп. Иара убри амш азы, нанаҳәа 14, Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет аилатәара мҩаҧысраны иҟан, Аҧсныи Қырҭтәылеи рыбжьара афедеративтә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара алацәажәара азҧхьагәаҭан. Аха ақырҭқәа адипломатиа аҵкыс еиӷьыршьеит атанкқәа. Владислав Арӡынба телехәаҧшрала иуаажәлар рахь ааҧхьара ҟаиҵеит, рыҧсадгьыл ахьчаразы игыларц. Нанҳәамза 18 рзы Арӡынба дахагылоит иаарццакны иаҧҵаз Аҳәынҭқарра ахьчаратә комитет. Иара хаҭала напхгара аиҭон 18-40 шықәса ирыбжьагылаз Аҧсны ауааҧсыра рмобилизациа. Владислав Арӡынба аибашьра актәи амш азы Аҧсуа телехәаҧшрала итәылахь иҟаиҵаз ааҧхьара, нанаҳәа 14, 1992 шықәса © АГРТК Аганқәа аҩбагьы рырхәҭақәа Аҟәа иалыргоит ҳәа иҟаз аиқәшаҳаҭрақәа еилаганы (ақырҭқәа Баӷмаран ақыҭахь ихьаҵуан, аҧсуаа – Гәымсҭа аӡиас аҟынӡа), нанҳәа 18 рзы ақырҭқәа ҧырхагада Аҟәа иалалан, ақалақь ааныркылеит. Арҳәра-аӷьычрақәа ирылагеит, милаҭеилыхла ауаа дырӡуан, еиҳараҩӡак – аҧсуаа. Аҧсны анапхгара аибашьра раҧхьатәи амшқәа инадыркны Аҟәантә Гәдоуҭаҟа ииасит, аибашьра ааилгаанӡагьы уантә акәын аус шыруаз. Аҧсуаа зқәиҭыз Гәымсҭеи Бзыҧҭеи рыбжьара ишьҭаз Аԥсны аҵакырадгьыл акәын. Тҟәарчал аблокада иҭакын, иара убас иаркын Очамчыра араион ахь иаҵанакуа аҧсуа қыҭақәак. Егьи иаанхаз Аҧсны аҵакырадгьыл зегьы ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рнапаҵаҟа иҟан. Аибашьра актәи амш. Ацҳа ҟаҧшь © АГРТК Аҧсуаа ҭоурыхла изқәыз рыҧсадгьыл ахьчараҿы ацхыраара ду ҟарҵеит Аҩада Кавказ, Алада Урыстәылантә аешьаратә ажәларқәа, аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа уҳәа хатәгәаҧхарала иааны иҳавагылаз. Ҳар реизырҳара адагьы, ари адгылара хыҧхьаӡарала иаҳиааиуаз аӷа иҿаҧхьа ҳажәлар ргәашьҭыхраҿы иабзоурахаз рацәоуп. Ҳазҭагылаз арыцҳара ахьынӡадууз еилаҳкаарц азы, аамҭа хьанҭа аныҟала ара шаҟа ҳарҭахыз ҳдырырц азы, Владислав Арӡынбеи ҳареи зныктәи ҳаиҧылара азхеит. Уи илакҭа ианаҳбаалеит зегьы: иҭахаз шихьаауаз, еибашьуа рзы агәҭынчымра шимаз, аха зегь акоуп аҵыхәтәанӡа дышхьамҵуа азы агәаӷьрагьы… Аибашьра аанҵәаанӡа иара дҳацын. Жәыларацыҧхьаӡа иаҳныруан уи. Муҳаммед Кьылба Аҧсны Афырхаҵа Left Right Аҧсны Афырхаҵа (данҭаха ихырҵеит) Гена Карданови Аҩада Кавказынтә хатәгәаҧхарала еибашьра иааз арҧарацәа ргәыҧи, Гәымсҭатәи афронт © www.apsuara.ru Баграмиан ихьӡ зху аерман баталион, 1992 шықәса © Андреи Соловиов Арратә корреспондент Анна Броидо хатәгәаҧхарала еибашьра иааз дрыцны, Гәдоуҭа, Кавказ ажәларқәа Рконфедерациа аштаб © Анна Броидо лархив аҟнытә Султан Сосналиеви Владислав Арӡынбеи, Гәдоуҭа, 1993 шықәса © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Гәымсҭатәи афронт. Аҩада Кавказынтә хатәгәаҧхарала еибашьра иааз © ИТАР ТАСС Владислава Арӡынба хатәгәаҧхарала еибашьра иааз рахь иҟаиҵаз ааҧхьара, урҭ ралгара амш аҽны, Гәдоуҭа, 1993 шықәса © АГТРК Аҧсуаа Гәымсҭатәи ахырӷәӷәарҭатә цәаҳәа аргылара иалагеит, Мраҭашәаратәи афронт. Аҧсны Мрагыларатәи ахәҭахьы хаз-хазы еибашьуаз аҧсуа партизантә гәыҧқәа рҽеидыркыло иалагеит, ус хәыҷы-хәыҷла ишьақәгылеит Мрагыларатәи афронтгьы. Убри аамҭазы, Москва, цәыббрамза 3, 1992 шықәсазы, «Президент Отель» ҳәа хьӡыс измаз асасааирҭаҿы имҩаҧысит Кавказтәи арегион ареспубликақәа рхадацәа реиҧылара, официалла ус акәын хьӡыс иамаз. Егьыс, уи аиҧылара – агладиаторцәа реидыслара ҳәа азырҳәеит. Урыстәылеи, Аҧсныи, Қырҭтәылеи рхадацәеи, иара убас Аҩада Кавказ ареспубликақәеи Алада Урыстәыла аобластқәа рнапхгаҩцәеи злахәыз аиҧылара амшхәаҧштә азҵаарас иқәгылан Аҧсны имҩаҧысуаз аибашьра аанкылара. Аха Аҧснытәи аделегациа даара иақәыӷәӷәон егьырҭ аиҧылара алахәцәа, урҭ ирӡаӡомызт қырҭтәылатәи аган иааныркыло апозициа ишадгылоу, иацхраарцгьы шырҭаху. Урыстәылеи, Аҧсныи, Қырҭтәылеи рхадацәа апресса рахь рцәырҵра, Кавказтәи арегион ареспубликақәа рхадацәа реиҧылара ашьҭахь, Москва, «Президент Отель», цәыббра 3, 1992 шықәса © АГРТК Анцәа иҿаҧхьа исҳәоит, абра аиашамра шыҟоу. Владислав Арӡынба Кавказтәи арегион ареспубликақәа рхадацәа Москватәи реиҧылара астенограмма аҟынтә Бџьаршьҭыхла изқәылаз атәыла ахада иидырҟаҵар рҭахын ухаҿы иузаамго – хатәгәаҧхарала ҳахьчаразы иааз ирықәыӡбо ашәҟәы анапаҵаҩра. Зехьынџьарантә иҟаз ақәыӷәӷәара шыхьанҭаӡазгьы, Арӡынба илшеит аԥсуа жәлар ирыдгылаз аҵеицәа рыпату лазырҟәыр зҭахыз аҿагылара рыҭара. Москватәи аиҧылараҿы напы зҵаҩыз ашәҟәы ҳадгьыл аҿы аҭынчра аанамгеит, избан акәзар ақырҭқәа ралҵра атәы аҳәаӡомызт, аҧсуа ган уи шхымҧадатәиу шазгәарҭозгьы. Аиҿагылара иацҵан. Ара, Аҧсны аибашьцәа зегь хаҭала иудыруеит, иудыруеит урҭ рыхьӡқәа, рхы-рҿқәа, иудыруеит урҭ ранацәагьы! Зҧа дҭахаз ан ллакҭа уҭаҧшыроуп. Ари хлымӡаахроуп. Иуаӷоугьы иузиаҭәашьом. Владислав Арӡынба Аҧсны аибашьра цон инымҵәаӡо 413 мшы. 1993 шықәса цәыббрамза 30 рзы ахақәиҭреи ахьыҧшымреи ҳзаазгаз Аиааира мшы гылаанӡа, Аҧсны жәлар акыр арыцҳара дуқәа рхыргеит. «Аҧсра ҳазцон – аҧсҭазааразы» иҳәоит нас Владислав. Иҭахаз аҵеицәа ранацәа © Андреи Соловиов Ажәыларатә цәаҳәа, Гәымсҭатәи афронт © apsnyteka.ru Ажәыларатә цәаҳәа, Гәымсҭатәи афронт © apsnyteka.ru Аблокада иҭакыз ақалақь Тҟәарчал © Ибрагим Ҷкадуа Ажәыларатә цәаҳәа, Гәымсҭатәи афронт, аӡын, 1993 шықәса © apsnyteka.ru Леон иорден занашьоу Алик Лазба © apsnyteka.ru Владислав Арӡынба иҭхаз аибашьҩы инышәаҭараҿы, Гәдоуҭа, ҧхынҷкәын, 1992 шықәса © АГРТК Владислав Арӡынба инапынҵа зну Аҧсны ахсаала дадгыланы © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Ҳарҭ аибашьра ҳадырҳәалеит. Ҳрымпыҵархаларц, ҳақәырхырц рыӡбеит. Аха ҳара ҳажәлар аиашара иазықәҧон, иагьааит, зегьы ирыцку – Аҧсадгьыл ҳамызхырц зҭахыз, ҳҳәынҭқарра ашьҭамҭа ыҟамкәа ианырхырц иашьҭаз рҿаҧхьа. Иҧшьоу ари ахеиқәырхаратә еибашьраҿы рыжәҩахыр ҳадыркылеит Аҩада Кавказ, Алада Урыстәыла иқәынхо ҳаешьаратә жәларқәа, убасгьы аиашара ҳацрыхьчаразы иааз аламыс уаа зегьы. Владислав Арӡынба Аҧсны Афырхаҵа Мушьни Хәарцкьиа (данҭаха ихырҵеит) © apsnyteka.ru Владислав Арӡынба Гәымсҭатәи афронт аибашьцәа дрыдгыланы © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Аиааира мышқәак шагу, Маҷара ақыҭа азааигәара, цәыббрамза, 1993 шықәса © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Аиааира мышқәак шагу, цәыббрамза 1993 шықәса © apsuara.ru Аҧсуа ар аибашьцәа Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы, цәыббрамза 1993 шықәса © apsnyteka.org Гагра ахақәиҭтәра © news.milli.az Аҧсуа ар аибашьцәа Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы, цәыббрамза 1993 шықәса © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Владислав Арӡынба Ахьӡ-аҧша абаҳчаҿы © АГРТК Аибашьра анеилга ашьҭахь Арӡынба иҳәоит: «Зегь реиҳа ихлымӡааху ҳашьҭахьҟа инхеит, зегь реиҳа иуадаҩу – ҳаҧхьаҟа ишьҭоуп». Аҭынч ҧсҭазаара аргылара иазкын арҭ иажәақәа, ҳажәлар зегь, ҳҧызагьы аҧхьа днаргыланы, рымч-рылша зегь зҭаххаз, имариамыз аргылара, аиҭашьақәыргылара аус. 1994 шықәса, абҵарамза 26 рзы Владислав Арӡынба далырхит Аҧсны Аҳәынҭқарра ахадас, 1999 шықәса, жьҭаарамза 3 рзы ажәлар зегьы еицҿакны аҩынтә раан ахадас иҟалара иақәшаҳаҭхеит. Аҧсны Раҧхьатәи Ахада имаҵурахьы инашьҭра ацеремониа (аинаугурациа), Аҟәа, абҵарамза 26, 1994 шықәса © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Владислав Арӡынба аинтервиу аҭараан © АГРТК Арӡынба атәыла дахагыланаҵ Аҧсны имҩаҧган акрызҵазкуа аусқәа. Хаҭалагьы, 1925 шықәсазтәи Аҧсны Аконституциа аиҭашьақәыргылара, аҧсуа ар аҧҵара, Атәылахьҷара аминистрра, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра, Аҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь ҳџьынџьуаа рырхынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы уҳәа раҧҵара, иара убас аҧсуа ҭыҧхьыӡқәа рыргьежьра. Арӡынба атәыла ахада иаҳасабала дзыхьӡаз зегь реиҳа аҵакы змоу аусқәа иреиуоуп: ақырҭуа-аҧсуа еибашьра аполитикатә ҭышәныртәаларазы ашьаҿақәа ралхра иазку ааҧхьара анапаҵаҩра; Аҧсныи Қырҭтәылеи рҳәааҿы (аиҿагылара ацәаҳәала) Урыстәылатәи абжьаҟазаратә мчрақәа рыргылара; Аҧсныи егьырҭ аҳәаанырҵәтәи атәылақәа жәпаки рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы аиқәшаҳаҭрақәа рыдкылара; урҭ атәылақәа рҿы Аҧсны ахаҭарнакрақәа раартра; Ихьыҧшым Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ҿыци, Агерби, абираҟи, агимни рыдкылара; аҧсуа бызшәа Аҧсны ҳәынҭқарратә бызшәаны азхаҵара; Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҧҵара. Left Right Станислав Лакобеи, Геннади Аламиеи, Владислав Арӡынбеи Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет аилатәараҿы, Аҟәа, 1994 шықәса © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Асҭамыр Ҭаниеи Владислав Арӡынбеи. Аҧсны аҳәынҭқарратә ҳәаақәа рышьақәыргылара. © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Сократ Џьынџьал, Валери Аршба, Виачеслав Цыгәба, Валери Харчлаа, Владислав Арӡынба, Вахтанг Харчлаа. Ҿыц иаҧҵоу Аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа рӡыргара, Тҟәарчал, 1999 шықәса. © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд 1999 шықәсазы Аҧсны имҩаҧысит ареферендум ауаажәлар атәылаҿы амчра змоу Аконституциа ишазыҟоу азы, иара убас «Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымразы» Акт адкыларазы. Ҳара ҳконституциа, иагәылоу аидеиақәа рыла, ирываҟәылоит Урыстәыла, Еиду Америкатә Штатқәа, Голландиа, Австриа уҳәа реиҧш иҟоу атәылақәа рконституциақәа. Уи иаанарҧшуа ахшыҩҵакқәа рықәныҟәоит Ауаҩ изинқәа зыхьчо Еицырзеиҧшу адекларациеи, убасгьы егьырҭ адунеиаҿ иазхарҵахьоу азинтә аспектқәа зегьы ирықәҿнаҭуеит. Владислав Арӡынба Ареферендум рхы аладырхәит 97 % ақырҭқәа, абжьыҭара азин змаз. Арӡынба еснагь иазгәеиҭон аҧсуаа иаҳҿагыланы имеибашьуаз ақырҭқәа ақәгәыӷыр шрылшо зинҿаҟәарада Аҧсны атәылауаҩра. Анаҩс уи азин рхы иадырхәеит 60 нызқьҩык ақырҭуаа, урҭ Аҧсныҟа ихынҳәит аибашьра анеилга ашьҭахь. Сара сгәанала, Аҧсны еснагь иҟан иагьыҟазаауеит милаҭрацәа зқәынхо тәыланы. Ихадоу, дарбанзаалак атәылауаҩ, милаҭс дызҵазкуазаалак, Аконституциа инаҭо азинқәа зегьы ихы иаирхәо дыҟазароуп. Владислав Арӡынба Владислав Арӡынба еснагь инаҵшьны иазгәеиҭон, Аҧсны адәныҟатәи аполитика ахашьа Урыстәыла иамариашазароуп ҳәа, Урыстәыла ҧсабарала Аҧсны адгылара анаҭоит ҳәа иҧхьаӡон. Лассы-лассы ус иҟалалоит, ҳаизыҟазаашьақәа рҟны ахьшәашәара, ма аҧхарра Урыстәылантә иасуа аҧшақәа ирыхҟьо. Сара сақәгәыӷуеит Урыстәылантә аҧша ҟәандақәа аслоит ҳәа, усҟан Аҧсны аҭынчреи ашәҭыкакаҷреи ыҟазаауеит. Владислав Арӡынба Владислав Арӡынбеи аинрал Сергеи Коробкои, лаҵарамза 9, 1998 шықәса © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Владислав Арӡынбеи Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор Николаи Кондратенкои, Адыгатәыла ахада Аслан Џьаримови © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Владислав Арӡынбеи Константин Затулини © Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Left Right 1997 шықәсазы Аҧсны делегациа ҳаракыла раҧхьаӡа акәны аҳәаанырцәҟа аҭаара ҟарҵеит Ҭырқәтәыла, уаҟа Владислав Арӡынба дырҧылеит хыҧхьаӡара рацәала аҧсуа диаспора рхаҭарнакцәа. Арӡынба атәыла ахадас дыҟанаҵ даара игәцараикуан аҧсуа хылҵшьҭрақәа рҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь рырхынҳәра апроцесс, урҭ арахь рхьарҧшра, 150 шықәса раахыс еиҟәыганы иҟоу жәларык рыбжьара аимадара арӷәӷәара. Владислав Арӡынба ҧсыуала дкәашоит, Сҭамҧыл, 1999 шықәса © АГРТК 2004 шықәсазы Владислав Арӡынба атәыла ахада имаҵура аанижьит ичымазара бааҧсы иахҟьаны. Гарибальди аиталиаа рҭоурых аҟнеиҧш, Уоллес – ашотландаа рҟнеиҧш, Владислав Арӡынба еснагь дыҟан, дыҟоуп, дагьыҟазаауеит аҧсуа жәлар дырфырхаҵа иашаны – дҧызаны, жәлар ирылиаауа, иҟалап, знык, аха зегь реиҳа ианаҭаху аҭоурых аамҭазы. Константин Затулин Константин Затулин Владислав Арӡынба инышәаҭара аҽны, Аҟәа, хәажәкыра 10, 2010 шықәса © АГРТК Иналукааша аҧсуа политик, аҳәынҭқарра аргылаҩ Владислав Арӡынба иҧсҭазаара далҵит 65 шықәса дшырҭагылаз, хәажәкыра 4, 2010 шықәсазы. Иара иҿаҭахьала, анышә дамардеит дахьииз Ешыра ақыҭан, аибашьраан Гәымсҭатәи афронт ацәаҳәа ахьыҟаз. Left Right Владислав Арӡынба аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара, Москва. Иури Комаров иқәгылара, хәажәкыра, 2010 шықәса © АГТРК Владислав Арӡынба аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара, Москва. Урыстәыла Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа иатәу Мрагылараҭҵаара Аинститут адиректор ихаҭыԥуаҩ Сергеи Белогроницки иқәгылара, хәажәкыра 2010 шықәса © АГТРК Владислав Арӡынба иҧсадгьыл аҿы аҵыхәтәантәи имҩахь инскьагара. Владислав Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза Аҟәа, хәажәкыра, 2010 шықәса © АГТРК Владислав Арӡынба иҧсадгьыл аҿы аҵыхәтәантәи имҩахь инскьагара, Аҟәа, Арӡынба имҩа, хәажәкыра 10, 2010 шықәса
https://www.abaza.org/abk/vladislava-ardzynba-aibashrei-atynchrei
2024-02-25T08:12:48Z
<urn:uuid:56136a78-a27a-48cc-b404-0569da1ca986>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.95
0.89
0.98
166
32,273
tlsh:T15871FFE28A408B4BC6B3C459CFA14E35ACD168574622B260CDC6F4B01696048EFFCC13A9F9D8055EB4EB0612E133BE146A4AECE618BEFFDB705240A66E2F78E9379471D59F
Украина арбџьармчқәа рдыррақәа рыла, украинатәи аибашьцәа Баҳмут ахырхарҭала 1,2 километр рыла ҧхьаҟьа еиҭаҵит 16:33, 07.06.2023 Украина Атәылахьчара аминистрра аинформациа ала, Украина арбџьармчқәа ахыхьчара аҟынтә ажәыларахь иасит
https://1tv.ge/lang/ab/news_tag/wkraina-arbj%D1%8Carmchqa/
2024-03-04T04:08:36Z
<urn:uuid:24cbafbc-e224-4244-9c70-a58ab76dd403>
[]
[]
abk-Cyrl
0.96
0.67
1
3
418
tlsh:T1103081E06D91C64FD0B3C2244B148E2868826E9B3672B5B1CEAEF879261905CDEBCD926A6AED444AA1E30941C621BF56221B6CF5557F77C3610208944C3C39E833B071D6ED
Маиа Санду Саломе Зурабишвилии ақырҭуа жәлари Евроеидгыла алалара апроцессаҿ иахьатәи зҵакы дуу аетап рыдылныҳәалеит - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Маиа Санду Саломе Зурабишвилии ақырҭуа жәлари Евроеидгыла алалара апроцессаҿ иахьатәи зҵак... Иҵегь аҭагалара Маиа Санду Саломе Зурабишвилии ақырҭуа жәлари Евроеидгыла алалара апроцессаҿ иахьатәи зҵакы дуу аетап рыдылныҳәалеит 21:42, 08.11.2023 Саломе Зурабишвили ҭелла санлацәажәоз, лареи ақырҭуа жәлари Евроеидгыла алалара апроцессаҿ иахьатәи зҵакы дуу аетап рыдысныҳәалеит, — илҩит Молдова ахада Маиа Санду асоциалтә аҳа Twitter аҿы. Европатәи акомиссиа Европатәи ахеилак иабжьанагеит Қырҭтәыла акандидат астатус арҭарц. АПОЛИТИКА Евроеидгыла ҚЫРҬТӘЫЛА 6 Еиҧшу 2022 шықәса иаҿаҳарҧшыр, Евроеидгыла атәылақәа рҿы ахыҵакырҭа иашьҭоу Қырҭтәыла атәылауаа рхыҧхьаӡара 2023 шықәсазы имаҷхеит 12%-ла Қырҭтәылеи Кореиатәи Ареспубликеи рыбжьара аекономикатә партниорра иазку аиҿцәажәара актәи араунд иалагеит Питер Сииарто - Қырҭтәыла шықәсқәа раԥхьа ақәнаган Евроеидгыла алалара World of Statistics астатистика инақәыршәаны, атуристцәа уахынла ишәарҭамкәа аныҟәара ахьрылшо атәылақәа рыбжьара, Қырҭтәыла Европа аҵакыраҿ аԥшьбатәи аҭыԥ ааннакылеит Виктор Орбан иажәақәа рыла, 2008 шықәсазы Украинеи Қырҭтәылеи Натои Евроеидгылеи ралалара алшара рыман, аха ари ашанс рхы иадырхәарц ирылымшеит Евроеидгыла Украина ацхыраара аҳасабла 50 миллиард евро азалхра азҵаара аднакылеит Педро Санчес - Ҳара Мраҭашәаратә Балканқәеи, Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи ашәқәа рзааҳартит, сара уи сеигәырҕьоит Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рзы амаҵзура аплан иарбоуп Евроеидгыла атәылақәа рыла Украина абџьар аҭара аудит амҩаҧгара Афинансқәа рминистрра - Жәларбжьаратәи ареитингтә агентра FitchRatings Питер Фишер - 2024 шықәсазы Германтәылеи Қырҭтәылеи Европатәи ахеилакахь аинтеграциазы аусеицура нарыгӡоит Амш зеиҧшрахо 4° ашә Қaрҭ аҩ 3° Ах 5° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Мака Боҷоришвили Европарламент аҿы аиԥыларақәа лыман Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз, Ҟрымтәи адгьылбжьахабжьа аганахьала адронқәа рыла ажәылара мҩаԥган, урыстәылатәи аҳирхьчаратә мчқәа 38 дрон карыжьит Ингушетиатәи ақалақь Карабулак кыаамҭалатәи бџьаршьҭыхлатәи аидыслара ашьҭахь, иршьит фҩык аибашьцәа Афермерцәа рпротест амзызла, Украинеи Польшеи рҳәааҿ иҟоу оужьҭратә пунктқәа зегьы аибаратә машьынақәа рзы аркуп
https://1tv.ge/lang/ab/news/maia-sandw-salome-zwrabishvilii-aqmr%D2%ADwa-zhlari-evroeidgmla-alalara-aprotcessatchv-iax%D1%8Cati-zcakm-dww-aetap-rmdmlnmhaleit/
2024-03-04T00:45:42Z
<urn:uuid:a142c1f2-06ff-484f-bd4c-d5d4d7d9359f>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.91
0.62
0.93
45
4,622
tlsh:T194B635916740DA4BC2B3C1558A518D3A68D16D1BC620B220CDEAF8715305158EFFCC1395BAED094F309B1622E562BF05270AFCDA18BDFFC7715200A56E3E38E92398B2D99D
Асасааирҭа «Риҵа» - Аҧсны зегьы реиҳа иҧшӡоу, аромантика зныҧшуа сасааирҭоуп. «Риҵа» аартын 1914 ш. азы, убри инаркны иҟалеит иара Аҟәа ахаҿра иасимволны, иахьагьы еиқәханы иҟоуп 20-тәи ашәышықәсазы иамаз аиҿкаашьа лыҧшаах. 2014 шықәсазы асасааирҭа иазгәанаҭоит шәышықәса ахыҵра. Ари аиубилеи инамаданы, сынтәа, есымза асасааирҭа ахолл аҿы имҩаҧыслоит еицырдыруа аҧсуа асахьаҭыхыҩцәеи афотоҭыхыҩцәеи русумҭақәа рцәыргақәҵа. Абас, мшаҧымзазы, ара еиҿкаан зҟыбаҩ бзиоу аҧсуа фотограф Ибрагим Ҷкадуа ифотоцәыргақәҵа «Модерн». Афотопроект шьаҭас иазыҟалеит «Модерн» астиль ала иаҧҵоу Русудан Кобиакова иаҧылҵаз аҳәса рышәҵатәы аколлекциа. Ибрагим Ҷкадуа зеиӷьаҟам ифотоҭыхымҭақәа Модерн астиль ала иаадыртуеит убла хнакратәы иҧшӡоу адунеи. Ари апроект аҿы ашәҵатәқәа зегьы ирныҧшуа иҟаҵоуп 20-тәи ашықәсқәа рзы аҧыжәара змаз Арт-Деко аамҭазтәи, уи аҧхьа иҟаз Ар-Нуво рстильқәа, «Афотоҭыхымҭақәа цәыргоуп афото ақьаад аҿы акәымкәа ицәааку абырфын ала.
https://ritsa-hotel.com/abh/2-uncategorised/54-uluchshennyj-standart-2
2024-02-28T11:36:19Z
<urn:uuid:c3a28998-406d-475e-99ac-c499904ecf6e>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
0.99
3
1,742
tlsh:T1454854319D40CB5FC4F3C08ACA804E355CE0692143639261DDC1B0B5614505AFEFCD11A5F9EC075AA4EF5222D226AE156E4ABCFA387D9DD7329384917E3F94CF07783AD94E
Мамука Мдинарадзе – Зегьы игәныркылааит, Қырҭтәыла ахаангьы ахатә аҵакырадгьылқәа мап шырцәымнакәа - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Мамука Мдинарадзе – Зегьы игәныркылааит, Қырҭтәыла ахаангьы ахатә аҵакырадгьылқәа мап шырц... Иҵегь аҭагалара Мамука Мдинарадзе – Зегьы игәныркылааит, Қырҭтәыла ахаангьы ахатә аҵакырадгьылқәа мап шырцәымнакәа 16:34, 21.05.2023 Зегьы игәныркылааит, Қырҭтәыла ахаангьы ахатә аҵакырадгьылқәа мап шырцәымнакәа, – иҳәеит апарламентаҿ анапхгаратә партиа «Ақырҭуа гәахәтәы» афракциа ахантәаҩы Мамука Мдинараӡе. Иара Қырҭтәыла Жәларбжьаратәи ахәаахәҭратә палата анапхгаҩы Фади Асли иҳәамҭа дахцәажәеит. Асли иҳәеит: «Иаҳҳәап, Урыстәыла Иванишвили ажәа ирҭеит Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи шдырхынҳәуа азы. Ақырҭуа цыҧхьаӡа ихы дазҵаароуп, иара асепаратисттә 2 регионк ирхынҳәны наӡаӡа атәраҿы анхара иҭахума, мамзаргьы, абарҭ арегионқәа рыда, ихы дақәиҭны, Евроеидгылаҿ аҟазаара еиҕьеишьоу? » Мдинараӡе иҳәамҭала, импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа Қырҭтәыла иазыхынҳәуеит, наҟ-наҟтәи аперспективақәа абри аконтекст мацараҿ ирыхәаҧшуеит. «Зегьы игәныркылааит, Қырҭтәыла ахаангьы ахатә ҵакырадгьылқәа мап шырцәымнакәа. Ақырҭуа цыҧхьаӡа, Қырҭтәыла атәылауаҩ цыҧхьаӡа уи игәникылароуп. Импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа Қырҭтәыла иазыхынҳәуеит, наҟ-наҟтәи аперспективақәа абри аконтекст мацараҿ ҳрыхәаҧшуеит, », — иҳәеит Мамука Мдинараӡе. АПОЛИТИКА Мaмукa Мдинaрaӡе 3 Еиҧшу Мамука Мдинараӡе - Қырҭтәыла ашәарҭа иҭагылан, атерактқәа рымҩаԥгара ахарадырҵон, Украина ацҳаражәҳәара аҳәамҭа иаанаго исзеилкаауам, аполитикатә шьаҭа ашәымҭан ҳәа, ари ахҭыс ҳҵәахыр акәызма? Мамука Мдинараӡе - Иахьатәи ихадоу ааԥхьара адеоккупациа ауп Гига Миқанаӡе ишааицҳаз, апарламенттә аиҳара алидер иҭыԥ Мамука Мдинараӡе ааникылоит Мамука Мдинараӡе – Атәыла ахада илдыруазароуп, лара Михаил Саакашвили ашьауҕа иқәылхыр, 2003-2012 шықәсқәа рзы иара иҟаиҵаз зегьы азы аҭакҧхықәра лхы адылҵоит Мамука Мдинараӡе иҳәамҭала, атәыла ахада лимпичмент апроцедура алагаразы 80 анапынҵақәа еизыргахьеит Мамука Мдинараӡе – Аимпичмент апроцедура алҵшәа шахылымҵуа аадыруеит Мамука Мдинараӡе ишааицҳаз, 5%-тәи алхратә бариер аларҟәра азҵаара амш аусхәаԥштә иалам Мамука Мдинараӡе – Ҳара акандидат астатус аиуразы аидгылара ҳалшароуп, уи ҳазынтәгьы иаҳзеиҧшхо аиааирахоит Мамука Мдинараӡе иҳәамҭала, Ауаажәларратә дырраҭара, ахатә биуџьет жәа наӡынак еиҵамкәа асахьыркыратәи, адокументалтәи, асериалтәи фильмқәа ирзоунашьҭроуп, апарламенттә аиҳара арҭ аҧсахрақәа ирыдгылоит Мамука Мдинараӡе - Аоппозициаа ргәы иалоуп Саломе Зурабишвили рпозициа инагӡаны ахьаалмырҧшыз Амш зеиҧшрахо 4° аҩ Қaрҭ Ах 6° аҧшь 9° Авалиута акурс $ USD 2.6562 0.004 € EUR 2.8820 0.006 ₽ RUB 0.028893 0.017 £ GBP 3.3686 0.006 TOP 5 Европатәи 20 тәыла рлидерцәа иахьа Париж, Украина азҵаара иахцәажәоит Роберт Фицо – НАТОи Евроеидгылеи Украинаҿ арбџьармчқәа рыргылара азҵаара иахәаҧшуеит Илиа Дарчиашвили – Агәра ганы ҳаҟоуп жәларбжьаратәи ауаажәларра рпозициа ҕәҕәа ахадаратә ҵакы шамоу Урыстәыла ахатә ҧхықәрақәа нагӡаны Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҟынтә ахатә бџьармчқәа алнагарц азыҳәан Атапанчала ахысразы Қырҭтәыла аизга Европа ачемпионс иҟалеит – #1TVSPORT Қырҭтәыла VS Сербиа Актәи аканал аҿы - итәу "Қарҭтәи аренаҿ" арекордсен Гьаргь Цинцаӡе амҵәышәмпыд аҟынтә днаскьаргоит #1TVSPORT
https://1tv.ge/lang/ab/news/mamwka-mdinaradze-zeg%D1%8Cm-ignmrkmlaait-qmr%D2%ADtmla-axaang%D1%8Cm-axat-acakmradg%D1%8Cmlqa-map-shmrtcmmnaka/
2024-02-27T13:00:28Z
<urn:uuid:2a4e2903-46fc-4ebb-a2e0-e914639864bc>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.6
0.95
50
6,170
tlsh:T1606A47D18C40DF0BC2B3C5A9DB518D371CC1784B97227160CED9F8B1121609CEFFDD1399BAEC0A4EB4EB2412C153BB042509FCEA697DBBEBA15540956D3E38E9279832899D
Ҭырқәтәылатәи Ареспубликеи Шьамтәылатәи Арабтә Республикеи иҟалаз адгьылҵысра иахҟьаны ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аиааираҟны ацхыраара хықәкыс иҟаҵаны Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥыза-министр А. Анқәаб инапы ианҵоуп арҭ ареспубликақәа рыҟны инхо ауааԥсыра агәыҳалалратә цхыраара рыҭаразы аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаара. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
https://presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/15330/
2024-02-22T13:41:26Z
<urn:uuid:9e8506a9-b68e-44f8-8ed8-eb905d315f49>
[ "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.74
0.78
0.92
9
1,423
null
Европейский Союз в действии: работая на благо более безопасной Европы и более стабильного мира (субтитры на абхазском) Один день из жизни наблюдателя (субтитры на абхазском языке) Аимадара English / ქართული / Русский / Ирон / Аҧсуа / հայերեն / Azərbaycan / Ихадоу Ҳара иҳазкны Амандат Амандат Ҳара Евроеидгыла абџьар змам ауаажәлартә анаҧшҩцәа рмиссиа ҳауп. Ҳара ҳмиссиа 2008 шықәса цәыббра мзазы, Евроеидгыла абжьаҟазарала фпункт иҟоу аиқәшаҳаҭра рнапы анаҵарыҩы аамышьҭахь арахь ҳаашьҭын. Ҳара ҳприоритетқәа: Аибашьратә ахҭысқәа рырҿыцра аҽацәыхьчара ацхыраара азура; Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи администрациатә цәаҳәа аҩганк азааигәара инхо ауаа ршәарҭадареи, ибзиоу аҧсҭазаара рзышьақәыргылареи; Еиҿагыло аганқәа рыбжьара агәрагара аиҭашьақәыргылара; Қырҭтәылеи, арегионқәеи ирызку Европатәи аполитика аҳәаақәҵаратә аилазаашьақәа адырра рыҭара. Амиссиа аусура анагӡара ианалага инаркны инанагӡоит 24 сааҭтәи аҧыҧшра, иҷыдоу азҿлымҳара Аахыҵ Уаҧстәылеи, Аҧснытәи административтә ҳәаақәа рзааигәаратә аҭыҧқәа ирзыруеит. Амиссиа аҟны 200 ҩык анаҧшҩцәа аус руеит Евроеидгыла иалахәу еиуеиҧшым атәылақәа рҟнытә. Ҳара ҳофис хада Қарҭ иҟоуп, егьырахь арегионалтә аофисқәа – Гори, Мцхеҭеи, Жәыргьыҭи. Ҳара ҳмандат амч амоуп Қырҭтәыла аҵакырадгьыл зехьынџьара. Аха Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи де-факто аиҳабыра ахаҭарнакцәа иахьанӡагьы дара зхылаҧшуа аҭыҧқәа рахь анеира азин ҳарҭом.
https://eumm.eu/ab/about_eumm/mandate/
2024-02-24T00:47:17Z
<urn:uuid:ef897e62-bb20-464e-a527-df9ab54c3c24>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.8
0.64
0.97
14
2,519
tlsh:T1F008EC515584CB4BC1B3D4A9CA814F346CE2695382117671DD8EB8B21185059EFFCC139ABEE8011BB0EB1911D222BF00690AECDA687DBBE7B04210B16E3E39D9235576C56E
Иракли Ҕарибашвили алегендартә ақырҭуа сопрано Медеиа Амиранашвили лыҧсра иадҳәаланы адашшылара ҟаиҵеит - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Иракли Ҕарибашвили алегендартә ақырҭуа сопрано Медеиа Амиранашвили лыҧсра иадҳәаланы адаш... Иҵегь аҭагалара Иракли Ҕарибашвили алегендартә ақырҭуа сопрано Медеиа Амиранашвили лыҧсра иадҳәаланы адашшылара ҟаиҵеит 13:33, 03.12.2023 «Қырҭтәыла жәлартә актистка, алегендартә ақырҭуа сопрано Медеиа Амиранашвили лыҧсра даараӡа сгәы иалсит. Медеиа Амиранашвили ақырҭуеи европатәии аоператә музыка зеиҧшыҟамыз анагӡаҩцәа дреиун, лыҧсҭазаара зегьы ақырҭуа музыкатә ҟазара аларҵәара иазылит. Убри азоуп аопера абзиабаҩцәеи аҟазаратә усзуҩцәа лара ҷыдала бзиа дзырбоз, ҳаҭыр злықәырҵоз. Лҭаацәареи луацәеи ргәырҩа рыцеиҩысшоит, лзыӡырҩцәа гәыкала бзиа ирбоз ашәаҳәаҩ лыҧсра иадҳәаланы срыдасшшылоит», — иануп адашшылараҿы. Асопрано Медеиа Амиранашвили 93 шықәса дшырҭагылаз лыҧсҭазаара далҵит. . АУААЖӘЛАРРА Медеиа Амиранашвили ირაკლი ღარიბაშვილი 3 Еиҧшу Иракли Ҕарибашвили Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан уаххьаҿы дидикылеит Иракли Ӷарибашвили - Иахьа ҳара ауаатәыҩсара рҭоурых аҿы арыцҳара дуӡӡа - Ҳолокоста иалаӡыз ауаа ҳаҭырла иҳгәалаҳаршәоит Саманта Пауер – Аҧыза-министр Ҕарибашвили ҷыдала ҳиаҭабууп атса ала арҟьашьра аҽацәыхьчареи ахәышәтәреи иазку иҽазышәарақәа рзы Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Клаус Шваб ихьӡала имҩаҧгаз адкылараҿы дыҟан Давос иҟоу Иракли Ҕарибашвили Koç Holding анагӡаратә хантәаҩы диԥылеит Иракли Ҕарибашвили Давостәи Адунеизегьтәи аекономикатә форум ихы алаирхәоит Иракли Ҕарибашвили атәылауаа Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә бираҟ амш рыдиныҳәалеит Иракли Ҕарибашвили Илиа II иирамш идиныҳәалеит – Ицқьаӡара иоуранагӡара ҳтәылауаҩратәи ҳдоуҳатәи аҿиараҿы ароль ду нанагӡоит Иракли Ҕарибашвили - Иахьа Қьырса аныҳәа ду азгәазҭо ауааҧсыра зегьы ирыдысныҳәалар сҭахуп Иракли Ҕарибашвили - Акыр жәашықсақәа ирылагӡаны ҳпатриарх ҳдуохытә ԥсҭазаара, атәылауаҩратә акзаара дахылаԥшуеит, ихьӡ ақьырсиантә хәынаӡарақәа рырхынҳәра иадҳәалоуп Амш зеиҧшрахо 8° аҧшь Қaрҭ ахә 10° Ас 7° Авалиута акурс $ USD 2.6505 0.001 € EUR 2.8774 0.016 ₽ RUB 0.028419 0.020 £ GBP 3.3608 0.018 TOP 5 Робин Данниган – даараӡа сгәы алаҟоуп , аԥыза – министр раԥхьатәи ивизит Бриуссель аҟнытә дахьалагаз Иенс Стлотенберг- НАТО инагӡаны иадгылоит Қырҭтәыла аҵакырадгьыл акра, Қырҭтәыла импыҵахалоу арегионқәа анексиа рызуразы иарбынзаалак Урыстәылатә амақарра ҟалашьа амам Апроцедуратә зҵаарақәеи, аҵасқәеи реилак Иракли Кобахьӡе иҭыԥ аԥсахреи, Гьаргь Барвенишвили апарламент алахәылаҩыс азин иҭареи аилкаа иадгылеит Иракли Кобахиӡе - Қырҭтәыла аҵакырадгьыл 20 наӡына уажәгьы импыҵахалоуп, абри иуадаҩӡоу аамҭазы, аидгылаҩцәеи жәларбжьаратәи ауаажәларреи зеиҧшҟамлац акзаареи азгәыкреи аарҧшра нарыгӡароуп Илиа Дарчиашвили-Роберта Мецола аиашазы Қыҭтәыла азгәыблыҩ лоуп, уи лыҟнытә адгылара ӷәӷәа ҳауит Евроатә амҩа ахь
https://1tv.ge/lang/ab/news/irakli-gharibashvili-alegendart-aqmr%D2%ADwa-soprano-medeia-amiranashvili-lmphsra-iadhalanm-adashshmlara-khaiceit/
2024-02-22T14:06:51Z
<urn:uuid:08b0b7f8-dfdd-4a96-ab6b-33eeb7e2d878>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.92
0.6
0.94
52
5,522
tlsh:T158CCCFB10A55DB5BD6B7D595DFA699767DD67A5797567765DED5BEB5765656DEFFDD57ADFAE5595B759B6556D5667F555655BDE759BEBBD7B56655A55E6E75EA679575959D
Иманшәалоу аимадара Кешбек Асрақәа<br>рнапхгараҭара Ноль аныҟоу<br>алшарақәа Ароуминг Аинтернет<br>маҵзурақәа Ихарҭәаау<br>апакетқәа Агәырҿыхарақәа Агәыҳалалра Абонентцәа<br>рымаҵ аура Архиагақәа Аҧхьаӡаратә<br>усурақәа<br>рымҩаҧгара USSD Ахарҭәаара E-sim Аномерқәа рыдәқьан Амаҵзура ахьаҿаркуа Амаҵзура ҭыԥқәа Аҿакразы адокументқәа Оборудование Акорпоративтә хәыхшәааратә планқәа Акорпоративтә маҵзурақәа Colocation Аопциа «Супер роуминг» Услуга «Продажа IP-трафика» Амаҵзура «Урыстәылатәи Афедерациа ашҟа 150 минуҭ апакет» Амаҵзура «Апакет 20 минуҭ Урыстәылаҟа» USSD-амениу Супер АОН Аофистә номер Ибзоу ноль Амобилтә Интернет «Aquanet» аинтернет-пакетқәа SMS-пакетқәа Аномер аилыркааҿагыла АҞӘАФОН абонентцәа рзы ароуминг Шәара ишәзасуан Амаҵзуреи ацхыраареи А-SIM-карта аԥсахра Абоненттә номер аԥсахра Ахәхшәааратә план аԥсахра Аиқәшаҳаҭра даҽаӡәы ихьӡала аҟаҵара Аԥхьаӡара есымза детальла аарԥшра Есымзатәи аԥхьаӡара Аномер хатәгәаԥхарала аанкылара Абоненттә еиқәшаҳаҭра адокументқәа Оборудование Асаит ахсаала Хаҭалатәи аклиентцәа рзы Акорпоративтә хархәаҩцәа рзы Оборудование +7 940 999 99 99 Асаит ахсаала Русский Ахәхшәааратә планқәа Асмартфон азы Ателефон азы Аинтернет азы Асасцәа рзы Архивтә хәыхшәааратә планқәа Амаҵзурақәа Иманшәалоу аимадара Кешбек Асрақәа рнапхгараҭара Ноль аныҟоу алшарақәа Ароуминг Аинтернет маҵзурақәа Ихарҭәаау апакетқәа Агәырҿыхарақәа Агәыҳалалра Абонентцәа рымаҵ аура Архиагақәа Аҧхьаӡаратә усурақәа рымҩаҧгара USSD Ахарҭәаара E-sim Аномерқәа рыдәқьан Амаҵзура ахьаҿаркуа Амаҵзура ҭыԥқәа Аҿакразы адокументқәа Акорпоративтә хәыхшәааратә планқәа Акорпоративтә маҵзурақәа Colocation Аопциа «Супер роуминг» Услуга «Продажа IP-трафика» Амаҵзура «Урыстәылатәи Афедерациа ашҟа 150 минуҭ апакет» Амаҵзура «Апакет 20 минуҭ Урыстәылаҟа» USSD-амениу Супер АОН Аофистә номер Ибзоу ноль Амобилтә Интернет «Aquanet» аинтернет-пакетқәа SMS-пакетқәа Аномер аилыркааҿагыла АҞӘАФОН абонентцәа рзы ароуминг Шәара ишәзасуан Амаҵзуреи ацхыраареи А-SIM-карта аԥсахра Абоненттә номер аԥсахра Ахәхшәааратә план аԥсахра Аиқәшаҳаҭра даҽаӡәы ихьӡала аҟаҵара Аԥхьаӡара есымза детальла аарԥшра Есымзатәи аԥхьаӡара Аномер хатәгәаԥхарала аанкылара Абоненттә еиқәшаҳаҭра адокументқәа Ихадоу адаҟьа Амаҵзурақәа Асрақәа рнапхгараҭара Услуги Иманшәалоу аимадара Кешбек Асрақәа рнапхгараҭара Ноль аныҟоу алшарақәа Ароуминг Аинтернет маҵзурақәа Ихарҭәаау апакетқәа Агәырҿыхарақәа Агәыҳалалра Абонентцәа рымаҵ аура Архиагақәа Аҧхьаӡаратә усурақәа рымҩаҧгара USSD Асрақәа рнапхгараҭара Контактный центр +7 940 999 99 99 Амаҵзура «Асиа еиқәаҵәа» Ишәҭахым ауми аӡәы ҭел асрала, ма SMS-қәа раашьҭрала шәгәы ҧиҵәар? ”Асиа еиқәацәа” ашҟа иҭажәгал ишәгәамыҧхо абонентцәа. Амаҵзура “Асиа еиқәаҵәа” абонент инаҭоит алшара, асиа еиқәаҵәа ианҵаны иҳәаақәҵоу аномерқәа рҟнытә иалало асрақәеи SMS-аацҳамҭақәеи азин рымҭара. Ааҧхьара ҟазҵо абонент иномер “Асиа еиқәаҵәа” ианызар, аҭакс уи иаҳауеит “Ииашамкәа аномер ылхуп” ҳәа адырраҭара. Амаҵзура ахәҧса Аҿакратәи/аҿыхратәи маҵзура – 0 мааҭ. Аномер ацҵареи/аҧсахреи/аҧырхреи – 0 мааҭ. Абоненттә хәыхшәаара – 1 мааҭк уахыки-ҽнаки (“Асиа еиқәаҵәа” иану аномерқәа рхыҧхьаӡара заҟа ыҟазаалакгьы). Амаҵзуразы абоненттә хәыхшәаара, иааиуа уахыки-ҽнаки рзы аванс ҳасабла уахынлоуп иананырхуа. Амаҵзура напхгара аҭара Амаҵзура “Асиа еиқәаҵәа” аҿакреи/аҿыхреи амзартә мза иарбан мшызаалак азы иалыршахоит. Амаҵзура аус ауеит, абоненттә хәыхшәаарагьы ылырхуеит иара абонент ихаҭа уи амаҵзура аҿихаанӡа. Амаҵзура аусура аҿҳәара ҧкӡам. Абонент ихацыркрала амаҵзура анаҿыхха ашьҭахьгьы, даҽазнык уи ианиҭахха аҿакра алыршахоит. Амаҵзура аҿакреи/аҿыхреи абонент имҩаҧигоит: икьаҿу USSD-акомандақәа ицырхырааны: *135# - амаҵзура “Асиа еиқәаҵәа” аилкааразы; *135*00# - амаҵзура “Асиа еиқәаҵәа” астатус; *135*01*7ХХ ХХХ ХХ ХХ# - аномер “Асиа еиқәаҵәа” ацҵара, аусура аларгара, араҟа 7ХХ ХХХ ХХ ХХ - “Асиа еиқәаҵәа” иацлоит аномер жәларбжьаратәи аформат аҿы инҭырҭәааны, адырга + ацымҵакәа; *135*02# - амаҵзура “Асиа еиқәаҵәа” аҿыхра; *135*03# - “асиа еиқәаҵәа” аҿы иҟоу аномерқәа рсиа ахәаҧшра; *135*04*7ХХХХХХХХХ# - “асиа еиқәаҵәа” аҟнытә аномер ақәгара. USSD-амениу *100#; асервис “Ахаламаҵзура асистема”; абонент Амаҵзуратә Ҭыԥ ашҟа даннеилак. Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа: 1. Аиуристтә хаҿқәеи акорпоративтә абонентцәеи рзы амаҵзура “Асиа еиқәаҵәа” аҿакреи/аҿыхреи мҩаҧысуеит изыцҵоу аклиент имаҵ ауразы аҿакреи/аҿыхреи иазкны иҩу арзаҳал ала: акорпоративтә хархәаҩцәа аус рыдуларазы аменеџьер иҿы, мамзаргьы абонентцәа Рмаҵзуратә Ҭыԥ аҿы. 2. Абонент жәларбжьаратәи ароуминг аҿы даныҟоу ари амаҵзура аус амур алшоит. 3. Амаҵзура рхы иадырхәар алшоит аҿакразы иаарту ахәхшәааратә планқәа змоу абонентцәа. Иацу аҭагылазаашьақәа: 1. USSD-аканал ала амаҵзура анаҿаку, “Асиа еиқәаҵәа” ианҵоу аномерқәа зегьы рзы ишьақәыргылахоит иаку автоинформатор “Ииашамкәа илху аномер”. 2. “Ахаламаҵзура асистема” асервис ала амаҵзура анаҿаку иалшоит “Асиа еиқәаҵәа” ианҵоу конкретла аномерқәа рзы еиуеиҧшым хаз-хазы аинформациа аҟаҵара: “Деилахоуп”, “Мап ацәкуп”, “Изнеиуам”, Ииашамкәа илху аномер”. 3. “Асиа еиқәаҵәа” амаҵзура анаҿеик ашьҭахь абонент ихатәы, мамзаргьы аиуристтә хаҿқәа рзы ахәхшәааратә план иҧсахыр, уи аҿы “Асиа еиқәаҵәа” амаҵзура азҧхьагәаҭамзар, ахәхшәааратә план ҿыц аҟны амаҵзура “Асиа еиқәаҵәа” аусура иаҟәыҵуеит. Аха абонент “Асиа еиқәаҵәа” амаҵзура анаҿеик ашьҭахь ихәхшәааратә план иарбанзаалак уи амаҵзура ахьазҧхьагәаҭоу ахәхшәааратә план ала иҧсахыр, усҟан амаҵзура “Асиа еиқәаҵәа” аус шауа иаанхоит. Аконтракт аҧсахраан амаҵзура аусура аанкылахоит. Азгәаҭа: 1. Амаҵзура “Ибзоу ноль” “Асиа еиқәаҵәа” амаҵзура иаҵанакӡом. Абаланс ноль аҿы ианыҟоу, ма ҵаҟа ицаны ианыҟоу “Асиа еиқәаҵәа” иану аномерқәа рҟнытә асрақәа абонент иҭел ашҟа инеиуеит. 2. Амаҵзура “Асиа еиқәаҵәа” аус ауеит “Асиа еиқәаҵәа” ианҵоу абонент иномер аҳа ианеилнакаауа. Ус акәымкәа, абонент иномер аҳа ала ианеилкаамха, иаҳҳәап, АТС аналогқәа рҟнытә асрақәа, мамзаргьы ақалақьбжьаратәи асрақәак раан иалало ааҧхьара неиуеит абонент иҭел ашҟа. 3. “Асиа еиқәаҵәа” ианырҵо аномерқәа рхыҧхьаӡара ҧкӡам. Аномер аилыркааҿагыла Алшара шәнаҭоит АҞӘАФОН аимадара аномерқәа рахь асраан шәтелефон аномер имаӡаны ааныжьра. Амаҵура «Аномер Аилыркааҿагыла» алшара шәнаҭоит АҞӘАФОН аимадара аномерқәа рахь асраан шәтелефон аномер имаӡаны ааныжьра. Ишыҟаҵәҟьоу ала иасуа абонент ителефон аҟны амаҵзура «Аномер аилыркааҿагыла» аус анауа, дыззасуа абонент изасуа иномер ибартә иҟалом. Абонент илшоит ихала иномер аилкаара аус ауртә/иамуртә аҟаҵара, уи амаҵзура «Аномер аилыркааҿагыла» анизаҿаку, ателефон амодельқәа реиҳарак рҿы амениу ацхыраарала. Амаҵура «Аномер аилыркааҿагыла» ухы иаурхәар ҟалоит абоненттә хәыхшәаара аԥара ҩ-ԥарахыхшьак рыла: есыҽны, мызкы аҩныҵҟа иеиҟароу ахәҭақәа рыла иеихшаны; аамҭакала, амза алагамҭазы заа ашәарала. Амаҵзура абаҿактәу? Амаҵзура «Аномер аилыркааҿагыла» аҿакра идгалахоит арадиотелефонтә еимадара Иарку Акционертә Еилазаара (ИАЕ) «АҞӘАФОН-GSM» рмаҵзурақәа рыдгалара иазку аиқәшаҳаҭра зыхьӡала иҟоу абонент мацара Абонентцәа Рмаҵзуратә Ҭыԥ аҟны, иара ихаҭара аазырԥшуа адокумент (апаспорт) анрыдигалалак, мамзаргьы амаҵзура аҿакхар ҟалоит «Ахаламаҵзура асистема» амаҵзура ахархәарала, акоммерциатә хәыхшәааратә планқәа рабонентцәа зегьы амаҵзура зхы иазырхәарц зылшо, акорпоративтә хәыхшәааратә планқәа аламҵакәа. Амаҵзура «Аномер аилыркааҿагыла» USSD-адҵақәа рыла напхгараҭара: Амаҵзура «Аномер аилыркааҿагыла» иазку аилыркаага: *122# - аилыркаага амаҵзуразы азҵаатәы Амаҵзура аҿакра/аҿыхра: *122*01# - амаҵзура «Аномер аилыркааҿагыла» аҿакра аамҭа-аамҭала ахә ахыхрала ~ 1,67 мааҭ/мышкы. Абоненттә хәыхшәаара ахыххоит есыҽны, еиҟароу ахәҭақәа рыла уахынла. *122*02# - амаҵзура «Аномер аилыркааҿагыла» аҿакра аамҭакала ахә ахыхра – 50 мааҭ/мызкы. Амаҵзура астатус ишахәаԥштәу: *122*00# - амаҵзура астатус иазку аинформациа азыҳәара. Амаҵзура шаҿыхтәу: *122*03# - амаҵзура аҿыхра. Амаҵзура «Аномер аилыркааҿагыла» анапхгаразы USSD-адҵақәа рыла иҷыдоу аҭагылазаашьақәа: 1. Амаҵзура «Аномер аилыркааҿагыла» анапхгаразы USSD-адҵақәа рыла абонентцәа ирыдгалахоит аҿакразы иаарту ахәхшәааратә планқәа рҿы: АПЕЛЬСИН, АҞӘАМАРИН, АҞӘАМАРИН ЛАИТ, И+ЫЦУ 300, ЛИМИТДАТӘИ, ФРЕШ, ИНФИНИТИ. 2. Аиуристтә хаҿқәа ироуеит алшара амаҵзура анапхгараҭаразы агәрагаратә хаҿы ҩралатәи изыҳәарала. Амаҵзура анапхгараҭара рзаҿаркуеит Амаҵзуратә Ҭыԥ аҿы. 3. Акредиттә абонетцәа амаҵзура рыдгалахоит егьырҭ абонентцәа рзы еиԥш. Ахшыҩзышьҭра! Шәара шәыззасуа абонент амаҵзура «СуперАОН» изаҿакызар, усҟан Шәара шәабоненттә номер шәыззасуа изы еилкаахоит, амаҵзура «Аномер аилыркааҿагыла» шаҿакугьы. Шаҟа иаԥсои? Аҿакра 0 мааҭ Амаҵзура «Аномер Аилыркааҿагыла» азы абоненттә хәыхшәаара аамҭаклатәи ахә ахыхрала 50 мааҭ/мызкы аамҭа-аамҭалатәи ахә ахыхрала 1,67 мааҭ/мышкы Ахәхшәааратә план «Лимитдатәи», «Акорпоративтә+», «Бизнес», «Премиум» 0 мааҭ Супер АОН «Имаӡоу аномерқәа» реилкаара алшара Амаҵзура «СуперАОН» алшара шәнаҭоит «имаӡоу аномерқәа» рыла иасуа абонентцәа рномерқәа реилкаара, даҽакала иуҳәозар, амаҵзура «Аномер аилыркааҿагыла» ззаҿаку абонентцәа рномерқәа. Амаҵзура «СуперАОН» анаҿаку «имаӡоу аномер» шәтелефон аекран аҿы ицәырҵуеит аформат +#шәыззасуа абонент иномер жәларбжьаратәи аформат аҟны# ала. Амаҵзура «СуперАОН» рыдгалахоит Иарку Акционертә Еилазаара «АҞӘАФОН-GSM» ахәхшәааратә планқәа рабонентцәа зегьы, архивтәқәа, хаҭалатәи, иара убас аиуристтә хаҿқәа уахь иналаҵаны. Амаҵзурақәа рыхә Амаҵзура аҿакра/аҿыхра – 0 мааҭ. Абоненттә хәыхшәаара – 350 мааҭ/мызкы. Амаҵзуразы абоненттә хәыхшәаара ахыххоит уахынлатәи аамҭазы, есыҽны амза амшқәа иеиҟараны ирызшаны. Амаҵзура анапхгараҭара «СуперАОН» амаҵзура аҿакра/аҿыхра ҟалоит иарбан мшызаалакгьы. Амаҵзура аус ауеит, абоненттә хәыхшәаарагьы ахыхлахоит абонент амаҵзура аҿихаанӡа. Абонент амаҵзура аҿакра/аҿыхра илшоит : икьаҿу USSD-адҵақәа рыла: *123# – амаҵзура «СуперАОН» аилыркаага; *123*00# – амаҵзура «СуперАОН» астатус; *123*01# – амаҵзура «СуперАОН» аҿакра; *123*02# – амаҵзура «СуперАОН» аҿыхра. USSD-амениу *100#: амениу апункт 3. Амаҵзурақәа – > 1. Изыцҵоу амаҵзурақәа – > 7. СуперАОН; «Ахаламаҵзура асистема» асервис Аилахәыра асаит аҟны иаарту, «Амаҵзурақәеи ахәхшәаарақәеи» рыҟәшаҟны, «Изыцҵоу амаҵзурақәа» шьаҭас иҟаҵаны; Абонентцәа Рмаҵзуратә Ҭыԥ ахь абонент иадҵаалараан. Иҷыдоу аҭыгылазаашьақәа 1. Амаҵзура аҿакра/аҿыхра аиуристтә хаҿқәа рзы имҩаԥгахоит агәрагаратә хаҿы абонентцәа Рмаҵзуратә Ҭыԥ ахь арзаҳал аналеиҵалак. 2. Амаҵзура аҿакра/аҿыхра акорпоративтә абонентцәа рзы имҩаԥысуеит агәрагаратә хаҿы акорпоратив хархәаҩцәа рменеџьер ихьӡала арзаҳал аналеиҵалак. Ахшыҩзышьҭара! СуперАОН амаҵзура ҳаҭырбарала аусура рзалыршахоит АҞӘАФОН абонентцәа рыҟнытә мацара иалало асрақәа. Егьырҭ аоператорцәа рыҟнытә иалало асрақәа раан рномер аилкаара алыршахоит, аха уи азы аҭакԥхықәра ахы иаднаҵом. Ателефонқәа рмодельқәа зегьы ари амаҵзура рызрыдкылаӡом. Ус еиԥш иҟоу амодельқәа рыҟны амаҵзура «Аилыркааҿагыла аномер» змоу аномерқәа рҟынтәи асрақәа зеилкаахом. Амаҵзура здызымкыло ателефонқәа рмодельқәа реиқәыԥхьаӡа рҿыцлахоит. Аҭыжьыҩ Амодель Siemens CX1, ST60 Samsung B 140, E 350, E 370, E 380, E 390, E 480, E 630, E 700, E 730, E 760, E 820, Е 200, Е 2152, B 600, C230, D 500, D 600, D800, D 820, D900, X70, Х100, X450, E840, E870, Gt-s 5230, С 110, U 300, Е720, E530, D 840, L 840, Е570, E 210, Е790, E 490, Е 950, X 670, L700, Х 210, D 830, L870, S 3650, L 320, С 3110, С 200, С-520, S 3500i, Х480, X481, S5230, S5200, X160, J600E, GT-Е 2120, GT S3650, GT-S 3510, Е1070, x510, 3510, SGH-Z 540, S5233T, S7070 Sony-Ericsson К610i, W 510i, W 850i, K790i, W610i, К310i, AB W580i/c, S302 Fly E300, MX200 Philips 598, S220, Xenium 9@9 h КПК T Mobile MDA Compact II Nokia 1200, 1209, 1208, 1650, 1661, 1202, 7310, 5610, 6200, 6233, 6320, E51, Х6 Шәысԥырхагамхан Амаҵзура «Шәысԥырхагамхан» АҞӘАФОН абонентцәа зегьы алшара рнаҭоит, уахыки-ҽнаки аҿҳәара аҭаны, ателефон аҿымхӡакәа иалало асрақәа зегьы ақәиҭымтәра. Амаҵзура «Шәысԥырхагамхан» АҞӘАФОН абонентцәа зегьы алшара рнаҭоит, уахыки-ҽнаки аҿҳәара аҭаны, ателефон аҿымхӡакәа иалало асрақәа зегьы ақәиҭымтәра. Усҟан амаҵзура аҿазкыз абонент алшара имоуп иарбанзаалак иалҵуа асрақәа рымҩаԥгара. Амаҵзура «Шәысԥырхагамхан» ахархәаҩ иахь иасуа абонент иаҳауеит: «Абонент иахь шәзынаӡом. Асигнал ашьҭахь иааншәыжь аацҳамҭа». Амаҵзура «Шәысԥырхагамхан» аҿазкыз абонент SMS-аацҳамҭала адырра иҭахоит изасуаз изы. Амаҵзура аусура аҿҳәара – 24 сааҭ, амаҵзура аҿакразы аацҳамҭа USSD-адҵа анышьҭххалак инаркны. Амаҵзура шаҿактәу/ишаҿыхтәу Амаҵзура ишыҟаҵәҟьоу рзаҿакуп акоммерциатә ахәхшәааратә планқәа рабонентцәа зегьы, аиуристтә хаҿқәеи акорпоративтә ахәхшәааратә планқәа рабонентцәеи рыда. Амаҵзура «Шәысԥырхагамхан» аҿакразы аиуристтә хаҿқәа АҞӘАФОН абонентцәа Рмаҵзуратә Ҭыԥ иадҵаалароуп. Акорпоративтә хәыхшәааратә планқәа рабонентцәа амаҵзура «Шәысԥырхагамхан» аҿакразы АҞӘАФОН абонентцәа Рмаҵзуратә Ҭыԥ аҟны акорпоративтә хархәаҩцәа аус рыдуларазы аменеџьер идҵаалароуп. Амаҵзуратә Центр аҭызҭа: Аҭынчра Апроспект амҩа, 80. Амаҵзура аҿакразы Шәара ишәышьҭыроуп USSD-азҵаатәы: *115*01#. USSD-азҵаатәы аҿакразы ахә – 3,99 мааҭ (ахәԥсацҵазы ашәахтә алаҵаны). Амаҵзура аҿыхразы ишьҭтәуп USSD-азҵаатәы: *115*02#. Ахә – 0 мааҭ. Амаҵзура астатус, амаҵзура аҿаку аҿакыму агәаҭаразы ишьҭтәуп USSD-азҵаатәы: *115*00#. Ахә – 0 мааҭ. Амаҵзуразы аилыркаага: *115#. Азгәаҭа: Амаҵзура «Шәысԥырхагамхан» аҿҳәара 24 сааҭ анынҵәалак иаразнак иаҿыххоит, абонентгьы иалало асрақәа зегьы астандарттә режим ала идикылоит. Абонент илшоит амаҵзура аҿихыр 24 сааҭ нҵәаанӡа амаҵзура аҿыхра USSD-адҵала. Амаҵзура аҿакразы иарбанзаалак анаҩстәи азыҳәара ҿыц аԥара ахшәаатәхоит, иара ахә инақәыршәаны, амаҵзура аусура аҿҳәарагьы шьақәыргылахоит анаҩстәи 24 сааҭ USSD-адҵа анышьҭхалак: *115*01# Адресеиҭакра Амаҵзура «Адресеиҭакрала асра» Шәара ишәыцхраауеит ихадоу асра аҩмыжьра, шәара шәмобилтә телефон аҿы ишәыдышәкылартә алшара шәымамзар. Амаҵзура «Адресеиҭакрала асра» Шәара ишәыцхраауеит ихадоу асра аҩмыжьра, шәара шәмобилтә телефон аҿы ишәыдышәкылартә алшара шәымамзар. Амаҵзура алшара шәнаҭоит Шәара шәахь иалало иарбанзаалак асрақәа шәара иашәырбо амобилтә, ақалақьтә, ақалақьтә бжьаратә мамзаргьы жәларбжьаратәи аномер ахь аиагара.
https://aquafon.com/services/upravlenie/?language=ab
2024-02-26T21:20:41Z
<urn:uuid:e48bdb0b-c39e-4d53-8d44-b96604d92060>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.81
0.83
0.95
164
25,239
tlsh:T154184CB25800CB5BC573C089DAD2CE352CE1A807833273608ECCB4312205089FFBDD12AAEAF95557B4AB1562D911AB10E909BEDD387D7BD3619300A17D6F69DE2B6477E76E
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аминистрцәа реилазаара Аԥыза-министр Актәи ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба дыдирдырит. "Иацы сара Аусԥҟақәа ҩба снапы рыҵазҩит. Актәи Аусԥҟа Аԥыза-аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьапуа хатәгәаԥхарала имаҵзура ааныжьра иазкуп. Исҭахуп иҭабуп ҳәа иасҳәарц. Ҳара ҳкомандаҟны ақыҭанхамҩа аминистрс дынхоит. Аҩбатәи Аусԥҟа Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩыс Џьансыхә Нанба иҟаҵара иазкуп. Ари ауаҩ шәара ибзианы дыжәдыруеит. Агәыӷра сымоуп, арҭ акадртә ҽыԥсахрақәа аиҳабыра русура аритм иаԥырхагахарым , рҿаԥхьа иқәгылоу азҵаарақәа рыӡбара иахәап ҳәа",- иазгәеиҭеит Бжьаниа. Беслан Џьапуа Џьансыхә Нанба иусураҿы аихьӡарақәа изеиӷьеишьеит. Џьансыхә Нанба атәыла анапхгара иҭабуп ҳәа реиҳәеит иаадырԥшыз агәрагаразы. "Сара исылшо зегьы ҟасҵоит, сдырра, сымч-сылша Аминистрцәа реилазаара аусура ахаҭабзиара аиӷьтәра иазыскуеит",-иҳәеит иара. Џьансыхә Нанба Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩыс иҟаҵаразы Ахада Аусԥҟа инапы аҵаиҩит 2023ш. абҵарамза 1 азы. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
https://presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/16064/
2024-02-21T15:06:37Z
<urn:uuid:50a56d47-7658-4adc-b346-cb5dd27b9e83>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.86
0.83
0.96
12
2,644
tlsh:T11EABAA5159409B8BD2B3D099DF915E3198D01C4B53B67314CFC9F1B513931D8EFFCD13EAFBE4196AB49B0561D2617B14290EEDEA147EAAD3609241A17C2F38CC279479826E
Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа – зҭоурых 2500 шықәса инархыҳәҳәо ижәытәӡоу қалақьуп. Ус шакәугьы, ақалақь ауааԥсыра гәык-ԥсыкла бзиа ирбо архитектуратә хаҿра шьақәгылеижьҭеи рацәакгьы ҵуам – XIX-XX ашәышықәсқәа реихысырҭахь иаҵанакуеит. Аҟәа аҭоурых ахы акуеит ҩ-нызқьи бжаки шықәса раԥхьаҟа, ажәытәбырзен қалақь Милетынтә иааз раԥхьатәи аколонистцәа Аҟәатәи аԥшаҳәаҿы ршьапы анықәдыргыла инаркны. Дара абри аҭыԥ аҟны идыргылеит ақалақь-баӷәаза Диоскуриа. Еиуеиԥшым аҭоурыхтә аамҭақәа рзы ари ақалақь рнапаҿы иҟан аурымцәа, византиаа, агенуезцәа, нас аҭырқәцәагьы. Ҳера аныҟала раԥхьатәи ашәышықәсақәа раан иҟалалоз адгьылҵысрақәа рымшала ажәытәтәи Диоскуриа ашьҭамҭақәа зегьы амшын иамҽханакит. Аӡы ахьзымнаӡаз ақалақь аҩадатәи аҵкар мацароуп. Убраҟоуп аурымцәа рбаа Себастополис ахьдыргылазгьы, анаҩс рлегионқәа ахьдыртәазгьы. Аҭоурыхҭҵааҩ Анзор Агәмаа ишәҟәы «Ажәытәтәи Аҟәа» аҟны иҩуеит: «Аҟәа – ҭоурыхтә қалақьуп. Уи ахьгылоу аҭыԥ аҟны антиказаатәи аиланхарҭақәа рцәырҵра акырӡа шагызгьы, ақалақь хаҿра змаз ажәытә аԥсуаа рынхарҭа шьақәгылахьан, Аҟәа ахьӡын (аԥсышәала иахьа уажәраанӡагьы ус ахьӡуп), уи аҭоурых ажәытәӡа иаларсуп». Абжьарашәышықәсақәа раан аҭырқәцәа абаа Себастополис ахьӡ рыԥсахит Сухум-кале ҳәа. Аха ари ақалақь аханатә аԥсышәала хьӡыс иаиуз иахьанӡагьы еиқәхеит – Аҟәа. Ажәытә ақырҭуа шықәсынҵақәа рҟны ари ақалақь-абаа аӡбахә уԥылоит Цхум ҳәа. VIII-тәи ашәышықәсазы Аҟәа Аԥсуа аҳра ацентрқәа ируакхеит. XVI-тәи ашәышықәса инаркны XIX-тәи ашәышықәсанӡа Кавказ агаҿа зегьы ҩ-империа дук ринтересқәа ахьеиқәшәаз ҭыԥны иҟан – Османтәи аимпериеи Урыстәылатәии. Урҭ араҟа аамҭа-аамҭала аибашьрақәа рыман. XVIII-тәи ашәышықәса аҵыхәтәантәи аҩажәа шықәса инадыркны абаа Сухум-Кале аԥсуа аҳ Қьалышьбеи итәарҭан. Иара дазгәышьуан итәыла хьыԥшымны аҟаҵара, уи агьилшеит азныказы, аҭырқәцәа арантә иқәцаны. Аха 1810 шықәсазы, Қьалышьбеи даныршь аамышьҭахь, Аԥсны Урыстәыла иадлеит, Аҟәатәи абааҿгьы аурыс игарнизонқәа иртәеит. 1830-тәи ашықәсқәа рзы Аҟәатәи абаа мрагыларахьтәи аган ала, амшын аҟәара иаваршәны еиланхарҭа хәыҷык шьақәгылеит. Уи аԥхьа ахәаахәҭратә баӷәазак аҳасабала иҟан, анаҩс баӷәазатә қалақьхеит, абаа хьӡыс иамаз иаргьы хьӡыс ишьҭнахит. Аҟәа усҟантәи аамҭазы еиҳарак амҿтәы ҩнқәа зызгылаз қалақь хәыҷын. Аха убасҟангьы аԥшӡарала аныҟәаҩцәа аршанхо иҟан, шәҭылеи шәаԥыџьаԥлеи иҭалаҳан, еиҳаракгьы агәилқәеи аӷшҵлақәеи рацәан. 1866 шықәсазы, Аԥсны аҳра анаԥырх аамышьҭахь иаԥҵаз Аҟәатәи арратә округ административтә центрс иҟалеит ақалақь Аҟәа. Ақалақь маҷ-маҷ еиҵыҵуан, иҿион, аха XIX-тәи ашәышықәса иалагӡаны акырынтә аимҵәарақәеи арбгарақәеи ахҭнагахьан. Аҟәа ааха ду аиуит еиҳарак 1877-1878 шықәсақәа рзтәи аҵыхәтәантәи аурыс-аҭырқәа еибашьраан. Усҟан аҭырқәа ируаа ақалақь ианалҵуаз амца ацрарҵан ирблит. Аԥсуаа ари аибашьраҿы аҭырқәа ган иахьадгылаз азы агаҿаҟны анхара азин рымырхит, Аҟәа ақалақьгьы уахь иналаҵаны. Ҩынҩажәижәаба нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра Ҭырқәтәылаҟа ихҵәар акәхеит. Аԥсны ақыҭақәа жәпакы ҭацәит, Аҟәа ақалақьи уи акәша-мыкәшеи инхоз аӡә даанымхакәа зегь ықәҵит. Абарҭ ахҭысқәа раамышьҭахь маҷк ааҵуаны ашәҟәыҩҩы Антон Павел-иԥа Чехов абас иҩуеит аԥсуа аҳҭнықалақь иазкны иҩыза иахь иишьҭуаз асалмшәҟәаҿы: «Иахьа шьыжьаахыс Аҟәа стәоуп. Аԥсабара иџьоушьаратә иссирӡоуп, уарааԥкыртә, ма агәкаҳара унаҭартә аҟынӡа. Зегь лакәҵас иҟоуп, иҿыцуп, апоезиа-цәа ахоуп. Аевкалиптқәа, ачаи ачықьқәа, акипарисқәа, анызҵлақәа, апальмақәа, агәыжьқәа, амшынҟызқәа, акамбашьқәа, иҳәыҳәԥштәылоу апҟақәа, ашьхақәа, ашьхақәа нҵәара зқәым… Стәоуп уажә абра абарҵаҿы, исывсны инеи-ааиуеит аԥсуаа акапуцинцәа рмаскарад маҭәала еилаҳәаны, амҩа ааихуҵәар – азеиҭынҵлақәеи, анызҵлақәеи, акипарисқәеи рызҳауеит, урҭ рнаҩс – амшын иаҵәҟаҟара… Мызкы иадымхаргьы Аԥсны сынхозҭгьы, шәкы бжак раҟара лакә ссир аԥысҵар ҟаларын ҳәа сгәы иаанагоит. Ара уахьынаԥшлак – ачықьқәеи ашәшьырақәеи зегьы рҟынтә, ашьхарантә, агантә, жәҩанынтә зқьыла асиужетқәа узхьаԥшуеит. Шаҟа схәымгоузеи асахьаҭыхшьа ахьысзымдыруа!» «1875-1890 шықәсқәа рзтәи асаламшәҟәқәа» 1880-тәи ашықәсқәа инадыркны иҭацәыз аԥсуа дгьылқәа рахь еихеит аколонистцәа. 1897 шықәсазы имҩаԥгаз раԥхьатәи урыстәылазегьтәи ашәҟәҭагалара адыррақәа рыла, Аҟәа инхон 7998-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә аурысқәа 1685-ҩык ыҟан, агырқәа – 1522-ҩык, абырзенцәа – 1083-ҩык, аԥсуаа – 144-ҩык. Урҭ рыдагьы ара инхон аҭырқәцәа, аерманцәа, аҭаҭарцәа, аџьамцәа, аполиакцәа, анемцаа, аестонцәа – иааидкыланы даҽа 20 милаҭ инареиҳаны рхаҭарнакцәа. Акыр алаҵәара рыман амилаҭтә хеилакқәа, доусы дара ргәыԥ апроблемақәа рыӡбара иазкын: идыргылон ауахәамақәеи ашколқәеи, ақалақьтә Думахь алхрақәа рхы рыладырхәуан. Апоет Осип Мандельштам Аҟәа ақалақь убас азиҳәеит «алахьеиқәреи, аҭаҭыни, зыфҩы лаҳалаҳауа аҵиаахәшақәеи рықалақь ауп» ҳәа. «Абрантә ауп Кавказ абызшәақәа рҵара ишалагатәу – ара ажәақәа зегьы «а» ала иалагоит» Осип Мандельштам, «Агәалашәарақәа. Аамҭа ашыкьбжьы» XIX-XX ашәышықәсақәа реилыҵымҭазы Аԥсны еиҭаҳан ацитрустә шәырқәеи аҭаҭын аплантациақәеи, убри абзоуралагьы ахәаахәҭреи аекономикеи акыр иҿыхеит. 1893 шықәсазы Аҟәа аус руан 130 рҟынӡа ахәаахәҭратә наплакқәа. Аекономика аҿиара иабзоураны ақалақь аргылара ԥхьаҟа иццакит. XIX-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы амал змаз анаплакцәа идыргылон адәқьанқәа, асасааирҭақәа, авиллақәа, абарҵақәеи агалереиақәеи рыла ирԥшӡаны, ахазҩнқәа ргәарақәа рҿы аҵеиџьқәа ржуан. Абри аамҭазоуп Аҟәа иахьа изхыҽхәо архитектуратә хаҿра анаиуз. Абар Аԥсны ажәала асахьа шҭихуа ашәҟәыҩҩы Константин Паустовски: «Абаҳчаҿы, суада азааигәара, ирызҳауеит акактус дуқәа, абананқәа, амандаринқәа. Аԥенџьыр аҟынтә сахьынаԥшуа – амшыни (амра аҭашәамҭаз араҟа ссиршәа инӡаалоит), ашьха иаҵәара дуқәеи». «Бросок на юг» Аԥсны ақалақьқәа еиҿкаан европатәи ақалақьргылашьа иақәҿнаҭуа еиԥш. Архитектура аганахьала араҟа аԥыжәара аман Европа алаҵәара заухьаз астиль модерн. Ихадароу аргыларатә материалқәас иҟан ақьырмыт, ахаҳә, ацемент, аиха. Аҩнқәа рхыбуан ахьӡ ду змаз марсельтәи акыц ала. «Апатырқалқәа рыфҩи ахьа ирӡуаз афҩи еилалон, абаҳча еиԥынчылақәа рҟны ихшьыз абираҟ ҟаԥшьқәа аладатәи аԥша ӷьеҩ иахьарԥыруаз рыбжьы цәгьан, аҽыуаа рыбжьы ҭганы ҿыҭуа ахаҳә мҩақәа иҿҟьаса ирнын. Ақәыршҩы ҟәандаӡа агәгәаҳәа иауан, нас аратәи аҭаҭынжәла алҩа еишьылӡа адухан ахышәқәа рҟынтә индәықәлон». Константин Паустовски «Бросок на юг» Ашәҟәыҩҩы Константин Паустовски раԥхьаӡа акәны Аҟәа дааит 1922 шықәса жәабранмзазы. Ақалақь изаатит «ԥшшәырацәалеи бызшәарацәалеи еиларсу ҭыԥны». Аԥечка амца анҭарҵоз акакан ацәа рбылуан, абазар аҟны ахәы ҟарҵон акакан (ма араса) ахәшала ҳәа азгәеиҭон ашәҟәыҩҩы. Паустовски Аҟәа ақалақь инаҭаз ацәаныррақәа ааирԥшит аамҭак ашьҭахь ииҩыз аповест «Бросок на юг» аҟни аочерк «Ахьтәы уасцәа ахьырыԥшааз» аҟни. XIX-тәи ашәышықәса анҵәамҭа инаркны Аҟәа ахәаахәҭратә қалақьи абаӷәазеи раҳасабала адагьы аҳауазҩыдаратә курортк аҳасабалагьы иҿио иалагеит. 1898 шықәсазы Москва, Аҳақьымцәа урыстәылазегьтәи рконгресс аҟны Аҟәа ақалақь азхаҵан арыԥҳачымазцәа рзы иреиӷьу азҩыдаратә ҭыԥс. 1902 шықәсазы апрофессор Остроумов иаԥшьгарала Аҟәа иаатит 35-ҩык рҭыԥ змаз ахәышәтәырҭа, ақалақь агәҭеи уи аҵкарқәеи рҟны асанаториақәа дыргыло иалагеит. Зегь реиҳа ублха хнакуа иҟан еицырдыруаз аурыс меценат, аҭауад Николаи Смецкои Гәылрыԥшь иргылаз асанатори: ԥшь-еихагылак змаз ахыбраҿы алифтқәагьы аус руан – усҟантәи аамҭазы илаламбатәыз, шамаха џьара иуԥымлоз. Смецкои исанатори иара ихааны Европа зегьы иреиӷьыз ирхыԥхьаӡалан. 1905-1907 шықәсақәа рзы Аԥсны аус руан ԥшьышә рҟынӡа анаплакқәа. Урҭ реиҳарак Аҟәа аус зуаз амҿымаҭәахәхырҭақәеи, ақьырмырт зауадқәеи, аӡлагарақәеи, аихаҟазарҭақәеи, ахәшахыхырҭақәеи ракәын. Аҭыԥ ҷыда ааныркылон аефиртә хәшақәа рҩырҭа зауадқәа, ашәыр-уҭраҭых наплакқәа, аҩы-ауаҭка ахьҭарҭәоз азауадқәа, алимонаҭи, «Анкара» зыхьӡыз аӡҵәыҵәи ахьыҟарҵоз азауад. Анапҟазацәеи аусуҩцәеи бжьаратәи руалафахәы усҟан 2 мааҭки 20 капеи рҟынӡа инаӡон. Ча-хык усҟан 4,5 капеи иаԥсан, акәац акәзар, 1-тәи асорҭ фунтк – 17 капеи иаԥсан. Ақалақь аҿы акультуратә ԥсҭазаара есааира еилашуан. XX-тәи ашәышықәса алагамҭазы Аҟәа аус руан х-театрк: Алоизи итеатр, Самуриди итеатр, иара уба Александртәи апарк аҿы иаартыз аԥхынтәи атеатр. Иҭыҵуан агазеҭқәа «Колхида», «Сухумский листок», «Сухумский вестник». 1912 шықәсазы ақалақь аҿы аус руан жәаха школ: аурыс, абырзен, аерман, ауриа школқәагьы уахь иналаҵаны, иара убагьы бжеиҳан аԥсуа хәыҷқәа аҵара ахьырҵоз Ашьхарыуаа рышколи, Ақырҭуа ҵара аларҵәара ахеилак рышколи. XX-тәи ашәышықәса алагамҭазтәи Аҟәа ахаҿра бзиаӡаны иаарԥшуп ашәҟәыҩҩы Адиле Аббас-оглы лавтобиографиатә шәҟәы «Исызхамыршҭуа» аҟны. Ахәаахәҭреи аԥсшьареи еицызбоз ақалақь иаланхон амилаҭрацәа рхаҭарнакцәа. Аҟәатәи ашьхаҿы (аԥсышәала Самаҭаа рхәы ахьӡуп) Москвеи Петербурги рҟынтә ԥсшьара ҳәа иаауаз амалуаа рыҩндуқәа гылан. Ақалақь агәы иалсуаз амҩа хадаҿы – Гьаргь имҩа (иахьа Аиааира амҩаду) инхоз еиҳарак абырзенцәа ракәын – урҭ Аҟәа рхыԥхьаӡарагьы рацәан, рнаплак усқәагьы цәгьа ирыцааиуан. Иахьагьы ишыҟоу еиԥш, ақалақь ауааԥсыра зегьы иреиӷьыршьоз ԥсшьарҭа ҭыԥын амшын аԥшаҳәа. Адиле Абасс-оглы «Араҟа асқьалаҿы ирацәан ацәқәырԥ иарзазоз анышьқәа, мшынла аныҟәара абзиабаҩцәа урҭ ирықәтәаны хараӡа амшын агәахьы инаскьон. Аԥшаҳәа иаваршәны игылаз аҟәардәқәа рҿы рыԥсы ршьон ауаа быргцәа, амшын ҳауа зҩыда лбаадо, иниас-ҩиасуа ауаа ирыхәаԥшуа» Ақалақь зехьынџьара иалаԥсан акаҳуажәырҭақәа, ачаижәырҭақәа, абилиардасырҭақәа. Ахацәа анард иасуан. Ачаижәырҭақәа рҟны аус руан аџьамцәа, акаҳуажәырҭақәа рҟны – абырзенцәа, аҭырқәцәа, ма аерманцәа. Ашьаҟамҩақәа рҿы аҿхыбқәеи ақьалақәеи ирыҵагыланы аршәы, ма мрагыларатәи ахаа-мыхаақәеи, ашәырқәеи, аӡыхаақәеи рҭиуан. Иара уа, насҭхашәа акәац аҵәы иахаҵаны ирӡуан, ирӡуан иара убас ахьеи арасеи. Адиле Абасс-оглы «Анҭыҵга шьаҵа асахҭан иалхзар акәын, ицырцыруа. Ахацәа акәымзцәаԥшқа иалхыз ашлиапақәа рхарҵон, аҳәса – ашлиапа хәыҷқәа, џьоукы-џьоукы ачықҭы ақәыршәрагьы мап ацәыркуамызт. Аӡынтәи аҵх хьшәашәақәа раан ақалақьуаа дара-дара еизцон, еибыҳәаны аӡәы иҿы рҽеизыргон. Ахацәа анард, ма ашахмат, адомино, ма амаца иасуан. Акыр еицәажәон, ажәытә аамҭақәа ргәаладыршәон, ирбаз аспектакльқәеи изыԥхьаз ашәҟәқәеи ртәы еибырҳәон. Ҳарҭ ахәыҷқәа ҳҿы аартны ҳарзыӡырҩуан. Аишәа еснагь иқәын ахаачыс, ашәыр-ақәыр, араса, акаҳуа». «Исызхамыршҭуа» Ақалақь иалсны илеиуаз аӡиас Басла ахықәан аԥслышқәа ирызҳауан, урҭ рыҵаҟа анышь станциақәа ыҟан. Аӡиас аԥсыӡ ҭан, ашықәс аамҭақәа зегьы рзы ара аԥсыӡкыҩцәа хтәаланы иубон. Басла нырцәи-аарцәи аԥшаҳәақәа рҿы адәқьанқәеи аџьырмыкьа хәыҷи аус руан. Ари араион усҟангьы Ацҳа ҟаԥшь ҳәа хьӡыс иаман, ақалақь аҩ-хәҭак еидызҳәалоз ацҳа аԥшшәы ҟаԥшьын азы. Иара абра иҟан ачаӡырҭақәа, ачаижәырҭақәа, акаҳуажәырҭақәа, адуханқәа. Ақалақь есааира иҿион, еиҵыҵуан, уи иалҵшәахеит иманшәалоу, еилымшәо абзазараҭыԥ ашьақәгылара. Иҳаҩсыз ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рҟынӡа Аҟәа амилаҭрацәа зланхоз ахәаахәҭратә, курорттә қалақьны иаанхон, зыхә ҳараку аҭаҭынжәлақәеи ирӡуаз ахьеи рыфҩы лаҳалаҳауа иахьуаҳауаз. Атекст автор - Асҭанда Арӡынԥҳа, абильд-редактор - Наала Аҩӡыԥҳа, аредактор –Ольга Солдатенкова, аредактор хада – Амина Лазԥҳа
https://www.abaza.org/abk/akua-xix-xx-ashyshykusakua-reilytsymtaz-amratashara-ssirkuei-akha-fyuykhaai-rykalak
2024-02-25T08:17:44Z
<urn:uuid:af9df90e-2d7f-4793-aa22-f866a60ce6ca>
[]
[]
abk-Cyrl
0.97
1
0.99
31
20,127
null
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг иҳәамҭа провокациак аҳасабала иаднакылеит. Уи аҳәамҭа арегион аҟны аибарххара иацнамҵозар иагнархом. Асеиԥш иҟоу европатәи ачынуаа рҳәамҭақәа атәыла-агрессор идгылароуп иаанаго. 1 December 2018 493 Аԥснытәи аҿар рделегациа аҽаланархәит Жәларбжьаратәи аҿартә форум Аԥснытәи аҿар рделегациа аҽаланархәит Жәларбжьаратәи аҿартә форум 6.0 "Территория развития", зықьҩыла Урыстәылеи адунеи егьырҭ атәылақәа жәпаки рҟынтәи аҿар злахәыз. Жәларбжьаратәи аҿартә форум 6.0 "Территория действия"мҩаԥысит Санкт-Петербург. 28 November 2018 561 Анотақәа Даур Ақаҩба Денис Монкада Колиндрес имшира идиныҳәалеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Ареспублика Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Монкада Колиндрес ииубилеи идиныҳәалеит. 27 November 2018 666 Аҳәамҭақәеи ақәгыларақәеи Еиду аштатқәа зхагыло жәларбжьаратәи акоалициа Шьамтәыла ахымҩаԥгашьа ҳақәыӡбоит Шьамтәылатәи Арабтә республика ателехәаԥшра адырра ҟанаҵеит ЕАШ зхадараҿы иҟоу жәларбжьаратәи акоалициа апровинциа Деир-ез-Зор аҳауаҟынтәи иалахысуан ҳәа. Иҟоуп аҭынч уааԥсыра рҟынтәи иҭахаз. Урҭ реиҳараҩык хәыҷқәоуп. 22 November 2018 838 Женеватәи аиҿцәажәарақәа Адәныҟатәи аусқәа рминистри Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәеи еиԥылеит Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭынчреи рҭышәныртәаларазы Женеватәи аиҿцәажәарақәа 46-тәи рраунд мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынҷкәын 10-11 рзы. Уи аламҭалаз Аԥсныҟа иааиит аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу рлахәылацәа: Тоиво Клаар, Джихан Султаноглу, Рудольф Михалка. 21 November 2018 595 Ацҳаражәҳәарҭақәа иазкыу "Ақалақь дуқәа абызшәа маҷқәа" Берлин, Азеиԥш бызшәадырра Леибниц-центр аҿы (ZAS) имҩаԥысит Жәларбжьаратәи аконференциа "Ақалақь дуқәа абызшәа маҷқәа". Иара иалахәын аҵарауаа-алингвистцәа, еиуеиԥшым адиаспорақәа рхаҭарнакцәа. Аԥсуаа, абаскцәа, акаталонцәа, анепалцәа, тагалогаа, фулаа уҳәа егьырҭгьы ирыман алшара ртәылеи рбызшәеи рҭоурых иалацәажәарц. 15 November 2018 1017 Ацҳаражәҳәарҭақәа иазкыу ААР: НАТО аҳаиртә баӷәаза Қырҭтәыла аҟазаара алмыршахароуп Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра агәҭынчымра аанарԥшуеит НАТО и Қырҭтәылеи рыбжьара аусеицура еиҳа-еиҳа ахьаҽарӷәӷәо. 13 November 2018 841 Ацҳаражәҳәарҭақәа иазкыу Венесуелатәи агазеҭ аҿы «Аԥсны – аспорт атәыла» ҳәа астатиа ануп 2018 шықәса, абҵара 12 рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела агазеҭ EL LIDER аҿы иркьыԥхьит астатиа «Аԥсны –аспорт атәыла» 6 November 2018 646 Анотақәа Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Ролланд Бганба Аԥснытәи Ателерадиоеилахәыра 40 шықәса ахыҵра идиныҳәалеит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә усбарҭа «Аԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра» иахьа иналукааша аныҳәамш азгәанаҭоит. 40 шықәса – имаҷым ари аамҭа. Уаҩытәыҩсатә ԥсҭазаарак иаҟароу, зхатә ҭоурых беиа зымҽхазкхьоу, иара убри аамҭазгьы акыр шықәса лаша заԥхьаҟа иззыԥшу уалԥшьа дууп. 4 November 2018 546 Анотақәа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба адныҳәаларатә шәҟәы ишьҭит Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иахь Жәлар ракзаара Амш аныҳәа инадҳәаланы, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба адныҳәаларатә шәҟәы ишьҭит Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иахь
http://mfaapsny.org/allnews/news/geneva-discussions/irakliy-tuzhba-provel-vstrechu-s-sopredsedatelyami-mezhdunarodnykh-zhenevskikh-diskussiy-po-bezopasn/%3Cspan%20id=?PAGEN_1=75
2024-02-24T22:40:38Z
<urn:uuid:b7e5dc6a-5050-401f-bd99-2dcf911d5f73>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.96
0.96
0.97
24
5,746
tlsh:T1AD067DC189049B9BCA73C0A8CA91893169D0585B86357231CFE1F568265611DEABCD13E9F9AC1A4E74DB1613D692AB016B0FFCD6257D7FC3319300A42E2F38EA27D936C5CE
Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа – зҭоурых 2500 шықәса инархыҳәҳәо ижәытәӡоу қалақьуп. Ус шакәугьы, ақалақь ауааԥсыра гәык-ԥсыкла бзиа ирбо архитектуратә хаҿра шьақәгылеижьҭеи рацәакгьы ҵуам – XIX-XX ашәышықәсқәа реихысырҭахь иаҵанакуеит. Аҟәа аҭоурых ахы акуеит ҩ-нызқьи бжаки шықәса раԥхьаҟа, ажәытәбырзен қалақь Милетынтә иааз раԥхьатәи аколонистцәа Аҟәатәи аԥшаҳәаҿы ршьапы анықәдыргыла инаркны. Дара абри аҭыԥ аҟны идыргылеит ақалақь-баӷәаза Диоскуриа. Еиуеиԥшым аҭоурыхтә аамҭақәа рзы ари ақалақь рнапаҿы иҟан аурымцәа, византиаа, агенуезцәа, нас аҭырқәцәагьы. Ҳера аныҟала раԥхьатәи ашәышықәсақәа раан иҟалалоз адгьылҵысрақәа рымшала ажәытәтәи Диоскуриа ашьҭамҭақәа зегьы амшын иамҽханакит. Аӡы ахьзымнаӡаз ақалақь аҩадатәи аҵкар мацароуп. Убраҟоуп аурымцәа рбаа Себастополис ахьдыргылазгьы, анаҩс рлегионқәа ахьдыртәазгьы. Аҭоурыхҭҵааҩ Анзор Агәмаа ишәҟәы «Ажәытәтәи Аҟәа» аҟны иҩуеит: «Аҟәа – ҭоурыхтә қалақьуп. Уи ахьгылоу аҭыԥ аҟны антиказаатәи аиланхарҭақәа рцәырҵра акырӡа шагызгьы, ақалақь хаҿра змаз ажәытә аԥсуаа рынхарҭа шьақәгылахьан, Аҟәа ахьӡын (аԥсышәала иахьа уажәраанӡагьы ус ахьӡуп), уи аҭоурых ажәытәӡа иаларсуп». Абжьарашәышықәсақәа раан аҭырқәцәа абаа Себастополис ахьӡ рыԥсахит Сухум-кале ҳәа. Аха ари ақалақь аханатә аԥсышәала хьӡыс иаиуз иахьанӡагьы еиқәхеит – Аҟәа. Ажәытә ақырҭуа шықәсынҵақәа рҟны ари ақалақь-абаа аӡбахә уԥылоит Цхум ҳәа. VIII-тәи ашәышықәсазы Аҟәа Аԥсуа аҳра ацентрқәа ируакхеит. XVI-тәи ашәышықәса инаркны XIX-тәи ашәышықәсанӡа Кавказ агаҿа зегьы ҩ-империа дук ринтересқәа ахьеиқәшәаз ҭыԥны иҟан – Османтәи аимпериеи Урыстәылатәии. Урҭ араҟа аамҭа-аамҭала аибашьрақәа рыман. XVIII-тәи ашәышықәса аҵыхәтәантәи аҩажәа шықәса инадыркны абаа Сухум-Кале аԥсуа аҳ Қьалышьбеи итәарҭан. Иара дазгәышьуан итәыла хьыԥшымны аҟаҵара, уи агьилшеит азныказы, аҭырқәцәа арантә иқәцаны. Аха 1810 шықәсазы, Қьалышьбеи даныршь аамышьҭахь, Аԥсны Урыстәыла иадлеит, Аҟәатәи абааҿгьы аурыс игарнизонқәа иртәеит. 1830-тәи ашықәсқәа рзы Аҟәатәи абаа мрагыларахьтәи аган ала, амшын аҟәара иаваршәны еиланхарҭа хәыҷык шьақәгылеит. Уи аԥхьа ахәаахәҭратә баӷәазак аҳасабала иҟан, анаҩс баӷәазатә қалақьхеит, абаа хьӡыс иамаз иаргьы хьӡыс ишьҭнахит. Аҟәа усҟантәи аамҭазы еиҳарак амҿтәы ҩнқәа зызгылаз қалақь хәыҷын. Аха убасҟангьы аԥшӡарала аныҟәаҩцәа аршанхо иҟан, шәҭылеи шәаԥыџьаԥлеи иҭалаҳан, еиҳаракгьы агәилқәеи аӷшҵлақәеи рацәан. 1866 шықәсазы, Аԥсны аҳра анаԥырх аамышьҭахь иаԥҵаз Аҟәатәи арратә округ административтә центрс иҟалеит ақалақь Аҟәа. Ақалақь маҷ-маҷ еиҵыҵуан, иҿион, аха XIX-тәи ашәышықәса иалагӡаны акырынтә аимҵәарақәеи арбгарақәеи ахҭнагахьан. Аҟәа ааха ду аиуит еиҳарак 1877-1878 шықәсақәа рзтәи аҵыхәтәантәи аурыс-аҭырқәа еибашьраан. Усҟан аҭырқәа ируаа ақалақь ианалҵуаз амца ацрарҵан ирблит. Аԥсуаа ари аибашьраҿы аҭырқәа ган иахьадгылаз азы агаҿаҟны анхара азин рымырхит, Аҟәа ақалақьгьы уахь иналаҵаны. Ҩынҩажәижәаба нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра Ҭырқәтәылаҟа ихҵәар акәхеит. Аԥсны ақыҭақәа жәпакы ҭацәит, Аҟәа ақалақьи уи акәша-мыкәшеи инхоз аӡә даанымхакәа зегь ықәҵит. Абарҭ ахҭысқәа раамышьҭахь маҷк ааҵуаны ашәҟәыҩҩы Антон Павел-иԥа Чехов абас иҩуеит аԥсуа аҳҭнықалақь иазкны иҩыза иахь иишьҭуаз асалмшәҟәаҿы: «Иахьа шьыжьаахыс Аҟәа стәоуп. Аԥсабара иџьоушьаратә иссирӡоуп, уарааԥкыртә, ма агәкаҳара унаҭартә аҟынӡа. Зегь лакәҵас иҟоуп, иҿыцуп, апоезиа-цәа ахоуп. Аевкалиптқәа, ачаи ачықьқәа, акипарисқәа, анызҵлақәа, апальмақәа, агәыжьқәа, амшынҟызқәа, акамбашьқәа, иҳәыҳәԥштәылоу апҟақәа, ашьхақәа, ашьхақәа нҵәара зқәым… Стәоуп уажә абра абарҵаҿы, исывсны инеи-ааиуеит аԥсуаа акапуцинцәа рмаскарад маҭәала еилаҳәаны, амҩа ааихуҵәар – азеиҭынҵлақәеи, анызҵлақәеи, акипарисқәеи рызҳауеит, урҭ рнаҩс – амшын иаҵәҟаҟара… Мызкы иадымхаргьы Аԥсны сынхозҭгьы, шәкы бжак раҟара лакә ссир аԥысҵар ҟаларын ҳәа сгәы иаанагоит. Ара уахьынаԥшлак – ачықьқәеи ашәшьырақәеи зегьы рҟынтә, ашьхарантә, агантә, жәҩанынтә зқьыла асиужетқәа узхьаԥшуеит. Шаҟа схәымгоузеи асахьаҭыхшьа ахьысзымдыруа!» «1875-1890 шықәсқәа рзтәи асаламшәҟәқәа» 1880-тәи ашықәсқәа инадыркны иҭацәыз аԥсуа дгьылқәа рахь еихеит аколонистцәа. 1897 шықәсазы имҩаԥгаз раԥхьатәи урыстәылазегьтәи ашәҟәҭагалара адыррақәа рыла, Аҟәа инхон 7998-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә аурысқәа 1685-ҩык ыҟан, агырқәа – 1522-ҩык, абырзенцәа – 1083-ҩык, аԥсуаа – 144-ҩык. Урҭ рыдагьы ара инхон аҭырқәцәа, аерманцәа, аҭаҭарцәа, аџьамцәа, аполиакцәа, анемцаа, аестонцәа – иааидкыланы даҽа 20 милаҭ инареиҳаны рхаҭарнакцәа. Акыр алаҵәара рыман амилаҭтә хеилакқәа, доусы дара ргәыԥ апроблемақәа рыӡбара иазкын: идыргылон ауахәамақәеи ашколқәеи, ақалақьтә Думахь алхрақәа рхы рыладырхәуан. Апоет Осип Мандельштам Аҟәа ақалақь убас азиҳәеит «алахьеиқәреи, аҭаҭыни, зыфҩы лаҳалаҳауа аҵиаахәшақәеи рықалақь ауп» ҳәа. «Абрантә ауп Кавказ абызшәақәа рҵара ишалагатәу – ара ажәақәа зегьы «а» ала иалагоит» Осип Мандельштам, «Агәалашәарақәа. Аамҭа ашыкьбжьы» XIX-XX ашәышықәсақәа реилыҵымҭазы Аԥсны еиҭаҳан ацитрустә шәырқәеи аҭаҭын аплантациақәеи, убри абзоуралагьы ахәаахәҭреи аекономикеи акыр иҿыхеит. 1893 шықәсазы Аҟәа аус руан 130 рҟынӡа ахәаахәҭратә наплакқәа. Аекономика аҿиара иабзоураны ақалақь аргылара ԥхьаҟа иццакит. XIX-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы амал змаз анаплакцәа идыргылон адәқьанқәа, асасааирҭақәа, авиллақәа, абарҵақәеи агалереиақәеи рыла ирԥшӡаны, ахазҩнқәа ргәарақәа рҿы аҵеиџьқәа ржуан. Абри аамҭазоуп Аҟәа иахьа изхыҽхәо архитектуратә хаҿра анаиуз. Абар Аԥсны ажәала асахьа шҭихуа ашәҟәыҩҩы Константин Паустовски: «Абаҳчаҿы, суада азааигәара, ирызҳауеит акактус дуқәа, абананқәа, амандаринқәа. Аԥенџьыр аҟынтә сахьынаԥшуа – амшыни (амра аҭашәамҭаз араҟа ссиршәа инӡаалоит), ашьха иаҵәара дуқәеи». «Бросок на юг» Аԥсны ақалақьқәа еиҿкаан европатәи ақалақьргылашьа иақәҿнаҭуа еиԥш. Архитектура аганахьала араҟа аԥыжәара аман Европа алаҵәара заухьаз астиль модерн. Ихадароу аргыларатә материалқәас иҟан ақьырмыт, ахаҳә, ацемент, аиха. Аҩнқәа рхыбуан ахьӡ ду змаз марсельтәи акыц ала. «Апатырқалқәа рыфҩи ахьа ирӡуаз афҩи еилалон, абаҳча еиԥынчылақәа рҟны ихшьыз абираҟ ҟаԥшьқәа аладатәи аԥша ӷьеҩ иахьарԥыруаз рыбжьы цәгьан, аҽыуаа рыбжьы ҭганы ҿыҭуа ахаҳә мҩақәа иҿҟьаса ирнын. Ақәыршҩы ҟәандаӡа агәгәаҳәа иауан, нас аратәи аҭаҭынжәла алҩа еишьылӡа адухан ахышәқәа рҟынтә индәықәлон». Константин Паустовски «Бросок на юг» Ашәҟәыҩҩы Константин Паустовски раԥхьаӡа акәны Аҟәа дааит 1922 шықәса жәабранмзазы. Ақалақь изаатит «ԥшшәырацәалеи бызшәарацәалеи еиларсу ҭыԥны». Аԥечка амца анҭарҵоз акакан ацәа рбылуан, абазар аҟны ахәы ҟарҵон акакан (ма араса) ахәшала ҳәа азгәеиҭон ашәҟәыҩҩы. Паустовски Аҟәа ақалақь инаҭаз ацәаныррақәа ааирԥшит аамҭак ашьҭахь ииҩыз аповест «Бросок на юг» аҟни аочерк «Ахьтәы уасцәа ахьырыԥшааз» аҟни. XIX-тәи ашәышықәса анҵәамҭа инаркны Аҟәа ахәаахәҭратә қалақьи абаӷәазеи раҳасабала адагьы аҳауазҩыдаратә курортк аҳасабалагьы иҿио иалагеит. 1898 шықәсазы Москва, Аҳақьымцәа урыстәылазегьтәи рконгресс аҟны Аҟәа ақалақь азхаҵан арыԥҳачымазцәа рзы иреиӷьу азҩыдаратә ҭыԥс. 1902 шықәсазы апрофессор Остроумов иаԥшьгарала Аҟәа иаатит 35-ҩык рҭыԥ змаз ахәышәтәырҭа, ақалақь агәҭеи уи аҵкарқәеи рҟны асанаториақәа дыргыло иалагеит. Зегь реиҳа ублха хнакуа иҟан еицырдыруаз аурыс меценат, аҭауад Николаи Смецкои Гәылрыԥшь иргылаз асанатори: ԥшь-еихагылак змаз ахыбраҿы алифтқәагьы аус руан – усҟантәи аамҭазы илаламбатәыз, шамаха џьара иуԥымлоз. Смецкои исанатори иара ихааны Европа зегьы иреиӷьыз ирхыԥхьаӡалан. 1905-1907 шықәсақәа рзы Аԥсны аус руан ԥшьышә рҟынӡа анаплакқәа. Урҭ реиҳарак Аҟәа аус зуаз амҿымаҭәахәхырҭақәеи, ақьырмырт зауадқәеи, аӡлагарақәеи, аихаҟазарҭақәеи, ахәшахыхырҭақәеи ракәын. Аҭыԥ ҷыда ааныркылон аефиртә хәшақәа рҩырҭа зауадқәа, ашәыр-уҭраҭых наплакқәа, аҩы-ауаҭка ахьҭарҭәоз азауадқәа, алимонаҭи, «Анкара» зыхьӡыз аӡҵәыҵәи ахьыҟарҵоз азауад. Анапҟазацәеи аусуҩцәеи бжьаратәи руалафахәы усҟан 2 мааҭки 20 капеи рҟынӡа инаӡон. Ча-хык усҟан 4,5 капеи иаԥсан, акәац акәзар, 1-тәи асорҭ фунтк – 17 капеи иаԥсан. Ақалақь аҿы акультуратә ԥсҭазаара есааира еилашуан. XX-тәи ашәышықәса алагамҭазы Аҟәа аус руан х-театрк: Алоизи итеатр, Самуриди итеатр, иара уба Александртәи апарк аҿы иаартыз аԥхынтәи атеатр. Иҭыҵуан агазеҭқәа «Колхида», «Сухумский листок», «Сухумский вестник». 1912 шықәсазы ақалақь аҿы аус руан жәаха школ: аурыс, абырзен, аерман, ауриа школқәагьы уахь иналаҵаны, иара убагьы бжеиҳан аԥсуа хәыҷқәа аҵара ахьырҵоз Ашьхарыуаа рышколи, Ақырҭуа ҵара аларҵәара ахеилак рышколи. XX-тәи ашәышықәса алагамҭазтәи Аҟәа ахаҿра бзиаӡаны иаарԥшуп ашәҟәыҩҩы Адиле Аббас-оглы лавтобиографиатә шәҟәы «Исызхамыршҭуа» аҟны. Ахәаахәҭреи аԥсшьареи еицызбоз ақалақь иаланхон амилаҭрацәа рхаҭарнакцәа. Аҟәатәи ашьхаҿы (аԥсышәала Самаҭаа рхәы ахьӡуп) Москвеи Петербурги рҟынтә ԥсшьара ҳәа иаауаз амалуаа рыҩндуқәа гылан. Ақалақь агәы иалсуаз амҩа хадаҿы – Гьаргь имҩа (иахьа Аиааира амҩаду) инхоз еиҳарак абырзенцәа ракәын – урҭ Аҟәа рхыԥхьаӡарагьы рацәан, рнаплак усқәагьы цәгьа ирыцааиуан. Иахьагьы ишыҟоу еиԥш, ақалақь ауааԥсыра зегьы иреиӷьыршьоз ԥсшьарҭа ҭыԥын амшын аԥшаҳәа. Адиле Абасс-оглы «Араҟа асқьалаҿы ирацәан ацәқәырԥ иарзазоз анышьқәа, мшынла аныҟәара абзиабаҩцәа урҭ ирықәтәаны хараӡа амшын агәахьы инаскьон. Аԥшаҳәа иаваршәны игылаз аҟәардәқәа рҿы рыԥсы ршьон ауаа быргцәа, амшын ҳауа зҩыда лбаадо, иниас-ҩиасуа ауаа ирыхәаԥшуа» Ақалақь зехьынџьара иалаԥсан акаҳуажәырҭақәа, ачаижәырҭақәа, абилиардасырҭақәа. Ахацәа анард иасуан. Ачаижәырҭақәа рҟны аус руан аџьамцәа, акаҳуажәырҭақәа рҟны – абырзенцәа, аҭырқәцәа, ма аерманцәа. Ашьаҟамҩақәа рҿы аҿхыбқәеи ақьалақәеи ирыҵагыланы аршәы, ма мрагыларатәи ахаа-мыхаақәеи, ашәырқәеи, аӡыхаақәеи рҭиуан. Иара уа, насҭхашәа акәац аҵәы иахаҵаны ирӡуан, ирӡуан иара убас ахьеи арасеи. Адиле Абасс-оглы «Анҭыҵга шьаҵа асахҭан иалхзар акәын, ицырцыруа. Ахацәа акәымзцәаԥшқа иалхыз ашлиапақәа рхарҵон, аҳәса – ашлиапа хәыҷқәа, џьоукы-џьоукы ачықҭы ақәыршәрагьы мап ацәыркуамызт. Аӡынтәи аҵх хьшәашәақәа раан ақалақьуаа дара-дара еизцон, еибыҳәаны аӡәы иҿы рҽеизыргон. Ахацәа анард, ма ашахмат, адомино, ма амаца иасуан. Акыр еицәажәон, ажәытә аамҭақәа ргәаладыршәон, ирбаз аспектакльқәеи изыԥхьаз ашәҟәқәеи ртәы еибырҳәон. Ҳарҭ ахәыҷқәа ҳҿы аартны ҳарзыӡырҩуан. Аишәа еснагь иқәын ахаачыс, ашәыр-ақәыр, араса, акаҳуа». «Исызхамыршҭуа» Ақалақь иалсны илеиуаз аӡиас Басла ахықәан аԥслышқәа ирызҳауан, урҭ рыҵаҟа анышь станциақәа ыҟан. Аӡиас аԥсыӡ ҭан, ашықәс аамҭақәа зегьы рзы ара аԥсыӡкыҩцәа хтәаланы иубон. Басла нырцәи-аарцәи аԥшаҳәақәа рҿы адәқьанқәеи аџьырмыкьа хәыҷи аус руан. Ари араион усҟангьы Ацҳа ҟаԥшь ҳәа хьӡыс иаман, ақалақь аҩ-хәҭак еидызҳәалоз ацҳа аԥшшәы ҟаԥшьын азы. Иара абра иҟан ачаӡырҭақәа, ачаижәырҭақәа, акаҳуажәырҭақәа, адуханқәа. Ақалақь есааира иҿион, еиҵыҵуан, уи иалҵшәахеит иманшәалоу, еилымшәо абзазараҭыԥ ашьақәгылара. Иҳаҩсыз ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рҟынӡа Аҟәа амилаҭрацәа зланхоз ахәаахәҭратә, курорттә қалақьны иаанхон, зыхә ҳараку аҭаҭынжәлақәеи ирӡуаз ахьеи рыфҩы лаҳалаҳауа иахьуаҳауаз. Атекст автор - Асҭанда Арӡынԥҳа, абильд-редактор - Наала Аҩӡыԥҳа, аредактор –Ольга Солдатенкова, аредактор хада – Амина Лазԥҳа
https://abaza.org/abk/akua-xix-xx-ashyshykusakua-reilytsymtaz-amratashara-ssirkuei-akha-fyuykhaai-rykalak
2024-02-23T02:30:10Z
<urn:uuid:9fc412fc-acf3-4f9f-9d79-84a43a241a8a>
[]
[]
abk-Cyrl
0.97
1
0.99
31
20,127
null
Илиа Дарчиашвили - Ԥхынҷкәын 15 рзы акандидат статус аофициалла иҳанаршьароуп, уи азын усзура ҳаҿуп - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Илиа Дарчиашвили - Ԥхынҷкәын 15 рзы акандидат статус аофициалла иҳанаршьароуп, уи азын усз... Иҵегь аҭагалара Илиа Дарчиашвили - Ԥхынҷкәын 15 рзы акандидат статус аофициалла иҳанаршьароуп, уи азын усзура ҳаҿуп 09:20, 15.11.2023 Қырҭтәылa aдәныҟaтәи aусқәa рминистр Илиа Дарчиашвили иҟаиҵаз аҳәамҭала, акандидат статус иазкны Еврокомиссиа ахәшьара бзиа евроинтегарциа амҩан атәыла зы зегь реиҳа ихадоу шьаҿоуп. Қырҭтәылa aдәныҟaтәи aусқәa рминистр Акти аканал адырраҭара “Зхы иақәиҭә агәаанагара” аефир аҿы ишазгәеиҭаз, ԥхынҷкәын 15 рзы акандидат статус аофициалла ҳанаршьарц азы, апартниорцәа рыбжьқәа раиуразы Евроеидгыла иалоу атәылақәа рыҳҭнықалақьқәа рҿы анапхгара активтә усзура иаҿуп. Илиа Дарчиашвили иажәақәа рыла, европатәи аперспектива анашьара ашьҭахь, Қырҭтәылеи Евроеидгыла иалоу атәылақәа рҟны адинамикатә аизыҟазаашьақәа рыбжьоуп. Қырҭтәылa aдәныҟaтәи aусқәa рминистр ишазгәеиҭаз ала, акандидат статус анашьара ахырхарҭала атәылақәа аконсенсус ахьӡара шрылшо агәра игоит. Иара убас, Илиа Дарчиашвили иҳәамҭала, Еврокомиссиа аднакылаз аӡбара Евроеидгыла арӷәӷәареи, арҭбаареи ауп хықәкыс иамоу, ари ихадароу процессуп, агеографиа ҳазааҭгылар, ари азҵаара амш аусхәаԥштә иалам. АПОЛИТИКА ილია დარჩიაშვილი 7 Еиҧшу Илиа Дарчиашвили – Агәра ганы ҳаҟоуп жәларбжьаратәи ауаажәларра рпозициа ҕәҕәа ахадаратә ҵакы шамоу Урыстәыла ахатә ҧхықәрақәа нагӡаны Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҟынтә ахатә бџьармчқәа алнагарц азыҳәан Илиа Дарчиашвили - Иракли Кобахиӡе Бриуссель ашҟа ивзит аҵак ду амоуп, уи ҳтәыла иӷәӷәоу аимпульс ҿыц азаанагоит Илиа Дарчиашвили Миунхентәи ашәарҭадаратә конференциа вице-ахада, анагӡаратә директор Бенедикт Франке диԥылеит Илиа Дарчиашвили ЕАШ ар европатәи рԥыза диԥылеит Илиа Дарчиашвили Ҭырқәтәыла Амилаҭтә ассамблеиа ду аспикер диԥылеит Ҭырқәтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр - Қырҭтәыла аҭыԥ ҷыда аанызкыло ҳгәыла, астратеиатә ҳпартниор тәылоуп Илиа Дарчиашвили аҭырқәа иколлега диԥылеит Илиа Дарчиашвили визитла Саудтәи Аравиа дыҟоуп Илиа Дарчиашвили – Аҧыза-министр дахьықәгыло апанельтә дискуссиа арегионалтә темақәа ирызкызаауеит, адискуссиаҿы Европеи Азиеи реимадара шеиқәыршәатәу иалацәажәоит Илиа Дарчиашвили - Иракли Ҕарибашвили аколлегацәеи алидерцәеи, иара убас, Қырҭтәыла иазҿлымҳау аилахәырақәеи рҟны аконсультациақәа рымҩаҧгара алшара еснагь ихы иаирхәоит Амш зеиҧшрахо 4° аҩ Қaрҭ Ах 6° аҧшь 9° Авалиута акурс $ USD 2.6562 0.004 € EUR 2.8820 0.006 ₽ RUB 0.028893 0.017 £ GBP 3.3686 0.006 TOP 5 Европатәи 20 тәыла рлидерцәа иахьа Париж, Украина азҵаара иахцәажәоит Роберт Фицо – НАТОи Евроеидгылеи Украинаҿ арбџьармчқәа рыргылара азҵаара иахәаҧшуеит Илиа Дарчиашвили – Агәра ганы ҳаҟоуп жәларбжьаратәи ауаажәларра рпозициа ҕәҕәа ахадаратә ҵакы шамоу Урыстәыла ахатә ҧхықәрақәа нагӡаны Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҟынтә ахатә бџьармчқәа алнагарц азыҳәан Атапанчала ахысразы Қырҭтәыла аизга Европа ачемпионс иҟалеит – #1TVSPORT Қырҭтәыла VS Сербиа Актәи аканал аҿы - итәу "Қарҭтәи аренаҿ" арекордсен Гьаргь Цинцаӡе амҵәышәмпыд аҟынтә днаскьаргоит #1TVSPORT
https://1tv.ge/lang/ab/news/ilia-darchiashvili-%D4%A5xmntchkmn-15-rzm-akandidat-statws-aofitcialla-hanarsh%D1%8Carowp-apartniortca-rmbzh%D1%8Cqa-raiwrazm-evroeidgmla-ialow-atmlaqa/
2024-02-27T13:52:30Z
<urn:uuid:b16a25f5-95a2-4204-af77-325a91a3bc8c>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.92
0.6
0.94
52
5,979
tlsh:T14B2F0EC18A44DA4BD6B3C5588B918D326ED2694782227670CED5F5B1274A45CEBFCC13A9FEF81A4E309B1511D212BF01560AFCEB58BDBBD7704640A11E3F34EA239432CA9E
Иахьа Ахада Иусҧҟала Аҧсны Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура абыжьбатәи аҟәша Аҧсны Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура аилазаара иалгоуп. Аҧсны Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура абыжьбатәи аҟәша аррамаҵзуҩцәа аштат иалгоуп аиҿкаара-штаттә усмҩаҧгатәқәа хыркәшахаанӡа. Абыжьбатәи аҟәша аррамаҵзуҩцәа рхәарҭахара (гәабзиаралеи профессионалтәралеи) анышьақәыргылаха, азшьаҭара аихшьалақәа рыла Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә маҵзурахьы арратә маҵзура иахыҧхьаӡалахоит. Абыжьбатәи аҟәша хархәара зызнауаз еиҭамҵуа амазара, атранспорттә хархәагақәа, абџьар Аҧсны Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура иазынхоит. Шәахәаҧш иара убас. Аҧсны Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура абыжьбатәи аҟәша. Аусҧҟа “Аҧсны Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура абыжьбатәи аҟәшазы” 1. Иалгазааит Аҧсны Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура абыжьбатәи аҟәша Аҧсны Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура аилазаара. 2. Аҧсны Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура абыжьбатәи аҟәша аррамаҵзуҩцәа аштат иалгазааит аиҿкаара-штаттә усмҩаҧгатәқәа хыркәшахаанӡа. 3. Абыжьбатәи аҟәша аррамаҵзуҩцәа рхәарҭахара (гәабзиаралеи профессионалтәралеи) анышьақәыргылаха, азшьаҭара аихшьалақәа рыла Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә маҵзурахьы арратә маҵзура иахыҧхьаӡалахааит. 4. Абыжьбатәи аҟәша хархәара зызнауаз еиҭамҵуа амазара, атранспорттә хархәагақәа, абџьар Аҧсны Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура иазынхааит. 5. Аҧсны Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзуреи Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә маҵзуреи ҩымчыбжьа рыҩныҵҟала иарбоу аҧсахрақәа азгәаҭаны ашьақәырҕәҕәаразы иқәдыргылааит аилазаарақәа, аштаттә еихшанҵақәа, аныхтәқәа рхарџьынҵақәа. 6. Аҧсны афинансқәа рминистрра абыжьбатәи аҟәша аныҟәгаразы иазгәаҭаз абиуџьеттә хархәагақәа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә маҵзурашҟа иианагааит.
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/2095/?print=Y
2024-02-22T21:38:20Z
<urn:uuid:c5d6f400-fe10-4053-bdfb-5edbea1dd2f5>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
1
13
3,156
tlsh:T1D14CCE51B100879FC1F6C585CAD25A35ADD66C454322F370CD89F1B00691049EFFDE13BDAAE80A8EB4EB0A65C911AB21954EDEEA14BD5FC7305614A2791EBCE933A033C5EE
Конституционный суд Республики Абхазия поздравляет с 29 годовщиной Победы в Отечественной войне народа Абхазии 1992–1993 гг. 04 Хәажәкыр 2024 Версия для слабовидящих ИХАДОУ АЖӘАБЖЬҚӘА Аӡбарҭа иазкны Аӡбара ахантәаҩы Аӡбара ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩы Аӡбаҩ-амаӡаныҟәгаҩ Аӡбаҩцәа Аконституциатә ӡбара Аппарат Аӡбара азыӡба Ақәҵарақәа Алкаақәа Аконституциатә ӡбара аилыркаара Аконституциатә ӡбара Аппарат анапхгаҩы иеилыркаара АДОКУМЕНТҚӘА Адҵаалашьа АИМАДАРАҚӘА АҚӘҴАРАҚӘА АЛКААҚӘА АКОНСТИТУЦИАТӘ ӠБАРА АИЛЫРКААРА АКОНСТИТУЦИАТӘ ӠБАРА АППАРАТ АИЛЫРКААРА АЖӘАБЖЬҚӘА Конституционный суд Республики Абхазия поздравляет с 29 годовщиной Победы в Отечественной войне народа Абхазии 1992–1993 гг. 29 Цәыббра 2022 font size decrease font size increase font size Акьыԥхьра Email Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар! Цәыббрамза 30 − Аҧсны Аҳәынҭқарразы ихадоу ныҳәоуп, ҳажәлари акыр зхызгахьоу ҳтәылеи рзы амилаҭтә гәадура иамшуп! Ари амш азын ҳара ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит аиааира аазгаз абиҧара − зыҧсҭазаарақәа ахҭынҵаны Аҧсадгьыл зыхьчаз. Ҳтәыла, уи атәылауаа, хатәгәаҧхарала иааны иеибашьыз аҧхьаҟатәи абиҧара аҭынч ҧсҭазаареи ахақәиҭреи рымазарц азы рхы иамеигӡеит. Аҧхьаҟа аҧеиҧш лаша ҳауразы зықьҩыла рыҧсқәа ақәҵаны иааргеит ари Аиааира. Аҵак ду змоу аныҳәа аҽны гәык-ҧсык ала ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, аҭынчра, ҭаацәарацыҧхьаӡа анасыҧ лаша! Аиааиреи уи азын агәалашәареи − ҳагәқәа, ҳус бзиақәа, ҳазлаго зегьы аҟны еснагь иҳацзааит!
https://ks.apsny.land/ap/item/206-konstitutsionnyj-sud-respubliki-abkhaziya-pozdravlyaet-s-29-godovshchinoj-pobedy-v-otechestvennoj-vojne-naroda-abkhazii-1992-1993-gg
2024-03-04T20:55:07Z
<urn:uuid:16c72359-3a88-4254-a94e-b61bbd4e2ad0>
[ "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.66
0.68
0.96
25
2,558
tlsh:T19C662251CE44E70FD5B3C0158F914D356CD0154B86117B60CFD9B420164A0A8E7FCF03AFEAEC5992A8DB1114D076AF016C1AECF2757D6FDB720100A26B1F68DA379476CA9E
Иракли Чиқовани - Ҳтәылақәа астратегиатә партниорра иазкны аҳамҭақәа ҟарҵахьеит, ари иазыԥхьагәаҭаны Китаи авизит ҩганкаатәи еизыҟазаашьақәа рырҿиара аус азы аҵак ду амоуп 13:13, 12.01.2024 Таиван ихадароу апрезиденттәи апарламенттәи алхрақәа рзы аҽазыҟаҵара иаҿуп 10:16, 19.12.2023 Китаи иҟалаз адгьылҵысраан 116-ҩык ҭахеит 16:55, 07.12.2023 Қырҭтәыла апарламент аделегациа алахәылацәа Пекин, Китаи Аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ иԥылеит 13:08, 27.11.2023 Китаи ацҳаражәҳәаҩ – Астратегиатә партниор аҳасабала, Китаи, Қырҭтәыла асоциал- економикатә азҳара ацхраара иазҿлымҳауп 14:00, 14.11.2023 Ахада ладминистрациа - Ахада радминистрациа аиҳабы Китаи ацҳаражәҳәаҩ иалҳәеит Саломе Зурабишви, Қырҭтәылеи Китаи реизыҟазаашьақәа ма Китаи ахада рыӡбахә лыҳәмит 14:37, 13.11.2023 Аиҳабыра радминистрациа - Аҧыза-министр Қырҭтәыла ахада иҟалҵаз аҳәамҭаз агәынгара ааирԥшын, аҳәамҭа Китаи Қырттәылеи реизыҟазаашьақәа арнырра шалымшо иазгәеиҭеит 14:26, 13.11.2023 Иракли Ӷарибашвили Китаи Жәлартә республика ацҳаражәҳәаҩ диԥылеит 10:13, 25.10.2023 Си Ӡинпин - ЕАШ-и Китаи еизыҟазаашьақәа ииашоу рымҩа алхра ирылшо ирылымшо адунеи азы ари ихадарахоит 14:39, 20.10.2023 Илиа Дарчиашвили - Қырҭтәылеи Китаи рстратегиатә партниорразы аиқәшаҳаҭра абжьаҵара иазкны еицыҟаҵоу аҳәамҭа адкылраан, аиҳабыра ашьаҿақәа аконституциа иашьашәалан 02:07, 19.09.2023 Ентони Блинкен Китаи вице-ахада диԥылеит 19:14, 11.09.2023 Леван Давиҭашвили – Ҳара хықәкыс иҳамоуп Китаи еиуеиҧшым ақалақьқәа рахь есымша жәаба раҟара ареисқәа рымҩаҧгара 15:17, 31.07.2023 Китаитәи жәлартә республикеи Қырҭтәылеи астратегиатә партниорра алагара иазкны еицыҟарҵаз аҳәамҭа 10:28, 30.07.2023 Китаитәи апровинциа Сычуани Аҷарати автономтә республикеи аиҩызареи аусеицуреи иазку амеморанум рыбжьарҵеит 15:11, 29.07.2023 Иракли Ӷарибашвили Пекин дыҟоуп 13:24, 28.07.2023 Иракли Ӷарибашвили - Згәдура дула аасыцҳауеит Қырҭтәылеи Китаи рстратегиатә партниорра аҟынӡа реизыҟазаашьақәа рыҳаракра атәы
https://1tv.ge/lang/ab/news_tag/kitai/
2024-02-26T17:58:54Z
<urn:uuid:da3995a4-87a4-4f91-a3aa-3df8cc4cc2a8>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.9
0.62
1
24
3,407
tlsh:T1A42584616A04DF4BD573C164DB5095302C91A88643B5A221CED5B9B02A450A4EBFCD129AF9EC0A4F749F2A10D596AB206705FCFF557E7EE7706700652E3F38ED239432C69E
Гьаргь Алықьса Ӡиӡариа (аур. Георгий Алексеевич Дзидзария, ақырҭ. გიორგი ძიძარია ;мшаԥымза 23 (лаҵарамза 6), 1914 ш., Лыхны ақыҭан — лаҵарамза 1, 1988 ш., Аҟәа) — Асовет Еидгыла аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩы, еицырдыруа кавказҭҵааҩы, Аԥсны аҵарауаҩ ду, «Ахҩык рысалам шәҟәы» автор. Гьаргь Ӡиӡариа аԥсуа ҭҵаарадырраҿы еиԥш асовет ҭоурыхдырраҿгьы ихьӡ-иԥша ыҟан.[1] Гь. Ӡиӡариа инысмҩа[аредакциазура | акод аредакциазура] Гьаргь Ӡиӡариа диит 1914 шықәса лаҵарамза 6 рзы, Лыхны ақыҭан. Гьаргь иаб – анхаҩы Алықьса Ӡиӡариа, Нестор Лакоба еиҿикааз анхацәа ргәыԥ «Кьараз» далан. Иан – Елизавета Давид-иԥҳа Аҩардан, Зиза ҳәа зарҳәоз– «Кьараз» иалахәыз, еицырдыруа ареволиуционер Игнати Аҩардан иаҳәшьа лакәын. Гьаргь ԥшьышықәса шихыҵуаз иаб диԥхоит, иан лымацара длааӡон. Жәашықәса анихыҵ инаркны Гь. Ӡиӡариа аҵара иҵон Гәдоуҭатәи ахәыҷқәа рыҩны-аинтернат аҟны. Анаҩс, 1929 шықәсазы дҭалоит Нестор Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә Ашьхарыуаа рышкол. Уаҟа аҵара иҵонаҵы, азҿлымҳара ӷәӷәа ааирԥшуан аҭоурых амаҭәар ахь, еиҳаракгьы уи ибзоуран ирҵаҩы Алықьса Всеволод-иԥа Фадеев, иара иоуп аҷкәын қәыԥш иеилзыркааз аҭҵаара аус аҟны зегь реиҳа афактқәа шхадароу, убри азы адокументқәеи аршаҳаҭгақәеи реидкылара аҭҵаара аус аҟны зды ԥсыхәа ыҟам шракәу иазҳәаз. Ашкол даналга ашьҭахь, 1934 шықәсазы, Гьаргь Алықьса-иԥа дҭалоит Москватәи аҭоурыхи, афилософиеи, алитературеи ринститут. «Араҟа сара рҵаҩцәас исыман иналукааша аурыс ҭоурыхҭҵааҩцәа – Иури Владимир-иԥа Готие, Евгени Алықьса-иԥа Космински, Михаил Николаи-иԥа Тихомиров, Сергеи Владимир-иԥа Бахрушин, Исаак Израиль-иԥа Минц уҳәа реиԥш иҟаз. Ҳәарада, урҭ анырра ду сырҭеит ҭоурыхҭҵааҩык иаҳасабала сышьақәгылараҿы» – ҳәа иҩуан Гьаргь Ӡиӡариа Москватәи аҭоурыхи, афилософиеи, алитературеи ринститут аҟны аҵара аниҵозтәи ашықәсқәа игәаларшәо. Абарҭ астуденттә шықәсқәа инадыркны ауп, Гьаргь Ӡиӡариа лымкаала Аԥсны XIX ашәышықәсазтәи аҭоурых даназҿлымҳахаз, урҭ ашықәсқәа рзы иҟаз апроблемақәа даныргәылархалаз. Иреиҳау аҵараиурҭа даналга ашьҭахь, 1939 шықәсазы иара Аԥсныҟа дхынҳәуеит, аусурагьы далагоит академик Марр ихьӡ зху Аԥснытәи аҭоурыхи, алитературеи, абызшәеи ринститут аҟны, раԥхьа – аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбыс, анаҩс – еиҳабыс. 1953 шықәсазы дҟалоит аҭҵаарадырра аҟәша аганахь ала аинститут адиректор ихаҭыԥуаҩс, 1966 шықәса инаркны иԥсҭазаара далҵаанӡа – аинститут адиректорс дыҟан.[2] Гь. Ӡиӡариа иҭҵааратәи, ирҵаҩратәи, иҳәынҭқарратәи усура[аредакциазура | акод аредакциазура] Гьаргь Ӡиӡариа аҭҵаарадырратә усуреи арҵаҩратә усуреи еилеигӡон. 1957 шықәса инаркны 1966 шықәсанӡа А. М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи апедагогикатә институт еиҳабыс даман, 1939 шықәса инаркны иара убра рҵаҩыс аус иуан. Иара иаԥшьгаралоуп аҭоурыхтә факультет аҟны ишалагалахаз амаҭәар ҿыц – Аԥсны аҭоурых. 1979 шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет анаԥырҵа, Гьаргь Ӡиӡариа напхгара аиҭоит ауниверситет аҟны Аԥсны аҭоурыхи, археологиеи, аетнологиеи ркафедра, аԥхьарагьы далагоит XIX ашәышықәса алагамҭеи XX ашәышықәсеи раантәи Аԥсны аҭоурых иазку алекциақәа ркурс. Аҭоурыхҭҵааҩы Арвелод Кәыпраа иажәақәа рыла, Гьаргь Ӡиӡариа аԥсуа ҭоурыхҭҵаара ахыҵхырҭаҿы игылаз дыруаӡәкын. Ари аҭҵаарадырратә хырхараҭа имариамыз аҭагылазаашьақәа раан ашьақәгылара мҩаԥысуан, усҟантәи аамҭазы иҟамызт амилаҭтә ҵарауаа, аҭоурыхҭҵааҩцәа. Убарҭ дыруаӡәкхеит Гьаргь Ӡиӡариа. Гьаргь Ӡиӡариа Қырҭтәылатәи ССР Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа алахәыла-корреспондентс дыҟан, Қырҭтәылатәи ССР-и Аԥснытәи АССР-и Рҳәынҭқарратә премиақәа дрыԥсахахьан. 1939 шықәса инаркны ауаажәларратәи аполитикатәи усқәа инапы рылакын. Гьаргь Алықьса-иԥа А.М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи апедагогикатә институт аректорс дыҟан (1957–1966). 1966–1988 шықәсқәа рзы Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут еиҳабыс даман. Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩыс (1975–1988), СССР Иреиҳаӡоу Асовет 6-тәи, 7-тәи, 8-тәи ааԥхьарақәа рдепутатс дыҟан. Инапы иҵыҵхьеит ԥшьышә инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа. Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Аслан Аҩӡба, аҵарауаҩ ду ҳҭоурых аҿы иааникыло аҭыԥ дазааҭгыло, абас еиԥш азгәеиҭеит: «Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа аԥсуа ҭҵаарадырра ҵәатәы шьаҟас иаҵагылаз дыруаӡәкын, иахьауажәраанӡагьы ус даанхоит. Аԥсуа ҭоурых 19-тәи ашәышықәсеи 20-тәи ашәышықәса актәи азбжеи уанырзыхынҳәуа, иара иӡбахә мҳәакәа узалацәажәаӡом. Иусумҭақәа даара ирацәаӡоуп, еиҳарак убри аамҭазы амҳаџьырра иазкны ииҩқәаз роуп, ҩынтәынгьы иҭыҵит. Раԥхьа 1975 шықәсазы иҭыҵит, нас 1982 шықәсазы еиҭаҭрыжьит».[3] Асовет аамҭазы ацензура ыҟан. Иҟан узлацәажәар ҟамлоз атемақәа. Убарҭ ируакын амҳаџьырра атемагьы. Аԥсуаа рыԥсадгьыл ааныжьны иахьыхҵәаз уамак иалацәажәаӡомызт усҟантәи аамҭазы. Раԥхьаӡа уи аӡбахә цәырызгазгьы Гьаргь Ӡиӡариа иоуп. Аҭҵаарадырра аус ҳазааҭгылозар, 19-тәи ашәышықәса иара иҟынӡа уарла-шәарла акәын ишыҭҵааз, иааидкыланы ҩымҭа дук ыҟамызт. Гьаргь Алықьса-иԥа афундаменталтә ҟазшьа змоу аҩымҭақәа акымкәа-ҩбамкәа иаԥиҵахьеит. Асоциалтә еизыҟазаашьақәеи, ақыҭанхамҩеи, Аԥсны аҭагылазаашьеи ирызкуп анаҩстәи иусумҭа ду. Уи идоктортә диссертациа ауп, ашәҟәы дууп. Аԥсны иҟаз анхаҩы, ҭауади-аамсҭеи, ахәуҩы ҳәа иахьа иззаҳҳәо, асоциалтә еиҟарамрақәа иара иоуп раԥхьа инарҭбааны иҭызҵааз. Иара убас, аӡбахә ҳәатәуп урысшәала "Формирование дореволюционной абхазской интеллигенции" захьӡу амонографиа ду. Иааидкыланы, 1917 шықәсанӡа аԥсуа интеллигенциа реиҵагылара, аҵара змаз ауаа рнысмҩақәа, русумҭақәа рыԥшаараҿы раԥхьаӡа еидкыланы иалагаз иара иоуп, илагала даара идууп ари аус аҿы. «Ахҩык рысалам шәҟәы»[аредакциазура | акод аредакциазура] Аԥсуаа еснагь ртәыла аҩныҵҟатәи амчқәа еизганы, рҽазыршәон ахеиқәырхара. Ажәлар рыԥсадгьыл аҿы реиқәырхара хықәкыс ишьҭыхны, убри аамҭазы хаҭала рхы ашәарҭара иҭаргыло, аԥсуа интеллигенциа изныкымкәаны Асовет Еидгыла аиҳабырра рышҟа ааԥхьарақәа ҟарҵон, ашәҟәқәа рыҩуан. Урҭ ааԥхьаратә шәҟәқәа иреиуоуп жәабранмза 1947 шықәсазы Константин Семион-иԥа Шьаҟрыли, Баграт Уасил-иԥа Шьынқәбеи, иареи ЦК ВКП(б) ахь ирҩыз ашәҟәы. Усҟан Сталин ихаан акәын, игәаӷьыуацәан даара, ақырҭқәа убасҟан имҩаԥыргоз аполитика, аԥсуа школқәа шаркыз, аԥсуа бызшәа уҳәар шыҟамлоз, аԥсуа кадрқәа аусура шрымамыз атәы фактла ишьақәырӷәӷәаны, аҿырԥштәқәа ааганы, ирҩыз ашәҟәоуп иахьа еицырдыруа. Уи иаҳәон аԥсуа жәлар рзинқәа реилагара, 1937 шықәса раахыс аԥсуа интеллигенциа зҭадыргылаз арепрессиақәа, аԥсуа милаҭ аҟазаареи аҟамзаареи ишрыбжьадыргылаз атәы. Ма иақырҭцәахароуп, ма ихҵәароуп ҳәа аԥсуаа рхатәыбызшәа анрымырхуаз, рыжәлақәа анырыԥсахуаз, рмилаҭра анырхырхуаз, аҭыԥхьыӡқәа анеицаркуаз аамҭа аанарԥшуан. Шьаҿа-шьаҿала акыршықәса аус зуаз ашовинисттә программа зхәыцыз рзыҳәан "лҵшәа бзиала" аус ауит, – зықьҩыла аԥсуаа иахьа уажәраанӡа изеиуоу рзымдыруа рыхдырра еилархәеит. Уажәшьҭа урҭ аԥсуаа рыхдырра иаша ашьақәыргыларазы еиҭа убасҟак аамҭа аҭаххоит, еиҳангьы алшарақәа аҭаххоит… Амала, аӷа ихы иаирхәоз аметодқәа рыла акәымкәа, азхьарԥшрала, азырхәыцрала, аилыркаарала. Раԥхьаӡа иргыланы, аԥсуа зеиԥш уаажәларреи мырзаҟанааи рыбжьара аимадарақәа бжьаҵатәуп. Мырзаҟанаа рыҩныҵҟа иҟоуп зхы здыруа – изхылҵыз, измилаҭу, изықәшәаз аҭоурыхтә мыҟәмабара иазҿлымҳау. Иҟоуп иззымдыруагьы. Аҵыхәтәантәиқәа рзыҳәа еиҳараӡакгьы аус ауроуп аԥсуа телехәаԥшра, арадио, агазеҭ, ажурнал. Аҭоурыхтә фактқәеи аргументқәеи шьаҭас измоу ҳҵарауаа рыҭҵаамҭақәеи, ҳашәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәеи мырзаҟанаа рыхдырра арҽеиразы аус руртә азнеишьа аформақәа рзыԥшаатәуп. Иахьазы зхатәы бызшәа аҵара агәаҳәара змоу уи аҩыза алшара рыҭатәуп, агәаҳәара змамгьы иазҿлымҳахартә аҭагылазаашьа рзаԥҵатәуп ашколқәа рҿеиԥш, абызшәа арҵаратә центрқәа рҿгьы ҳәа. Ашәҟәы аԥсуаа рҭоурых аҟны аиҭакра дуқәа ҟазҵаз акакәны иҟоуп. 1950-тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭаз Москвантәи Аԥсныҟа иааит акомиссиа ҷыда, амилаҭтә политика аилагарақәа ҭызҵаауаз. Ақырҭцәа рцензура шыҟазгьы, 1992 шықәсанӡа аԥсуа культура аизҳара аманы иҟан. Ашәҟәы анырҩы ашьҭахь даара аџьамыӷәацәгьа иҭадыргылеит. Баграт Шьынқәбеи Гьаргь Ӡиӡариеи рҭагылазаашьа уадаҩын акыраамҭа. Шьаҟрыл Аԥсны далҵны дымцар ада ԥсыхәа имоуа убри аҩыза аҭагылазаашьа дҭадыргылеит. Гь. Ӡиӡариа иусумҭақәа[аредакциазура | акод аредакциазура] Гьаргь Ӡиӡариа 400 инареиҳаны аусумҭақәа дравторуп, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп 150 ҭҵаарадырратә усумҭа, 50 монографиа. Гьаргь Ӡиӡариа XIX ашәышықәса анҵәамҭеи XX ашәышықәса актәи аԥшьбараки раантәи Аԥсны аҭоурых азы ихатәроу занааҭдырҩын. Иара иҭҵарадырратә усумҭақәа ахрестоматиатә ҵакы рымоуп, аҵарауаа рыбжьара азхаҵара роухьан. Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа – XIX ашәышықәсазы иҟаз Аԥсны ауаажәларра рсоциалтә еилазаашьа шьақәзыргылаз, иҭызҵааз раԥхьатәи ҵарауаҩын. Аҵарауаҩ иусумҭа «Аԥсны 1866 шықәсатәи ақәгылара» ҭыжьын 1955 шықәсазы. Уи ашәҟәы – Гь. Ӡиӡариа раԥхьатәи иҭҵаарадырратә монографиан, аҭҵаарадырратә дунеи аҟны ахьӡ-аԥша изҭаз. «Амҳаџьырреи Аԥсны XIX ашәышықәсазтәи аҭоурых апроблемақәеи» ҳәа хьӡыс измаз Гьаргь Алықьса-иԥа имонографиа иналукааша усумҭоуп, аспециалистцәа ишазгәарҭо ала, «XIX ашәышықәсазы Аԥсны иахнагаз арыцҳара ду, Кавказтәи аибашьраҿы иҭахаз зегьы рзы баҟаҵас иҟоу ашықәснҵоуп». Аусумҭа шьаҭас иамоуп хыԥхьаӡара рацәала адокументқәеи, амемуарқәеи, еиуеиԥшым ақалақьқәа (Аҟәа, Москва, Ленинград, Қарҭ, Краснодар) рархивқәа рҟны автор аус здиулаз. Аԥсны аҭоурых аҭҵаараҿы даҽа лагала дуны иҟоуп Гьаргь Ӡиӡариа ифундаменталтәу имонографиа «Ареволиуциа ҟалаанӡатәи аԥсуа интеллигенциа ашьақәгылара» ҳәа хьӡыс измаз. Ари аусумҭа азы 1980 шықәсазы Гьаргь Ӡиӡариа ианашьан Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа. Аҭаацәаратә ԥсҭазаара[аредакциазура | акод аредакциазура] Гьаргь Ӡиӡариа, хыхь ишаҳҳәаз еиԥш, иԥсҭазаара зегьы аҭҵаарадырреи ауаажәларратә усуреи ирыдҳәалан. Ҳәарада, ари ихатәы ԥсҭазаара ианыԥшуан, иҭаацәара акыр ирныруан, урҭ рзы аамҭа аԥшаара уадаҩын. Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариеи иԥшәмаԥхәыс Ольга Александр-иԥҳа Гьериеи ирыман ԥшьҩык ахшара: рыԥҳа Аннетеи, хҩык рԥацәа – Асҭамыри, Гәдисеи, Адгәыри. Аҭаацәараҿы Гьаргь Алықьса-иԥа инапы злакыз аҭҵаарадырратә, ауаажәларратә усура ихадоу акы акәны ирыԥхьаӡон. Аҵарауаҩ иҷкәын – асахьаҭыхҩы Адгәыр Ӡиӡариа иаб дигәаларшәо абас иҩуеит: «Саб ашьыжь аусурахь дандәықәлоз, сан агәашә аҟынӡа днаскьалгон, имаҭәа даҽазныкгьы амаҭәарыцқьагала днахыс-аахысуан. Убасҟан иара санихәаԥшуаз ацәанырра соуан, аӷба асқьала ныжьны, амшын инхылозшәа. Сара сакәзар, инакәызаалак ибзианы еилыскаауан, саб акыр зҵазкуа аус дшаҿу, уи аус зегь амҽхакны ишыҟоугьы. Ҳара – иҭаацәа гәакьагьы – уи ҳзацлабуамызт». Аҩнытәи, абзазаратәи усқәа рзы аҵарауаҩ аамҭа, шамахамзар, имаӡамызт, амала урҭ иҽырзикуазаргьы, ихы аԥсы аиршьарц азакәын. Иҭаацәара рзы аамҭа рацәа шимамызгьы, Гьаргь Ӡиӡариа ибзиаӡаны еиликаауан ихәыҷқәа аҵара бзиа рыҭара ихадоу акы акәны ишыҟаз. Ӡиӡариа иҭаацәара ду џьара ԥсшьара ацаразы алшара рымамызт, еиҳараӡак ԥсшьара ҳәа Лыхныҟа ицон. Иԥсҭазаара иалҵреи игәаларшәареи[аредакциазура | акод аредакциазура] Гьаргь Алықьса-иԥа иԥсҭазаара далҵит 1988 шықәса лаҵарамза 1 азы, уи иԥшәмаԥҳәыс лдунеи лыԥсахижьҭеи 26 мшы ааҵуаны. Анышә дамадоуп Лыхнашҭа – иқыҭа гәакьа Лыхны ихьӡырҳәагоу аҭоурыхтә ашҭа ду аҟны. Ҳаамҭазы Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа иусумҭақәа быжь-томкны аҭыжьра азԥхьагәаҭаны ирымоуп Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы, ԥшьба ҭыҵхьеит, даҽа хԥа ҭыҵраны иҟоуп. Урҭ ирнылараны иҟоуп иналукааша аҵарауаҩ иусумҭа дуқәа. 2014 шықәсазы Аԥсны Абанк иҭнажьит Гьаргь Ӡиӡариа 100 шықәса ихыҵра иазкны аиубилеитә ԥсар. Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа, аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩ, аҭоурыхдырҩ, арҵаҩы ихьӡ инарҭбааны алаҵәара амоуп. Иара дрыҵанакуан асовет аамҭақәа рзы еиҵагылаз аԥсуа интеллигенциа. Ҿыц ииз аԥсуа республикаҿы аҿиара амҩа рзаатит акультура, аҭҵаарадырра. Ажәлар аҵараиура ргәы аҳәон, ирҭахын аамҭа иақәшәо еиԥш рыԥсадгьыл амаҵ азура рылшо иҟаларц. 2004 шықәсазы иаԥҵан Гь. А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа, уи аҭҵаарадырра аҟны аихьӡара дуқәа змоу иранашьахоит. Иара ихьӡ рыхҵоуп Аԥсны ақалақьқәа рҟны амҩадуқәа, лассы-лассы еиҿкаахоит ихьӡ зху аҭҵаарадырра-практикатә конференциақәа. 1995 шықәсазы аҳәынҭеилакы «Аԥснеимадара» иҭнажьуеит аҵарауаҩ исахьа зну иҷыдоу апошьҭатә марка. 2014 шықәсазы Аԥсны Абанк иҭнажьит Гьаргь Ӡиӡариа 100 шықәса ихыҵра иазкны аиубилеитә ԥсар.[4] Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура] Г. А. Дзидзария. «Формирование дореволюционной абхазской интеллигенции» Г. А. Дзидзария. Махаджирство и проблемы истории Абхазии XIX столетия. Алашара, Сух., 1975, 526 с. Г. А. Дзидзария. Очерки истории Абхазии. 1910-1921. Тбилиси, 1963. Г. А. Дзидзария. Присоединение Абхазии к России и его историческое значение. Сух., 1960. Г. А. Дзидзария. История Абхазии. Учебное пособие. – Алашара, Сух., 1986, 264 с Азгәаҭақәа[аредакциазура | акод аредакциазура] ↑ "Г. А. Дзидзария". Аԥсуа интернет-библотека. Ириашоу 2024-02-20 шықәсазы. ↑ ПАЧУЛИЯ, Леила (2019-05-16). "ВЕРШИНА: Памяти ученого Георгия Дзидзария. 105 лет" (аурыс бызшәала). No. 48. Газета Республика Абхазия. ↑ Капба, Арифа (2019-05-06). "Наука и политика в жизни Георгия Дзидзария". abaza.org. Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс. ↑ "Каталог "Памятные монеты Абхазии"". Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк. Ириашоу 2024-02-20 шықәсазы. Ахыҵхырҭа – https://ab.wikipedia.org/w/index.php?title=Ӡиӡариа,_Гьаргь_Алексеи-иԥа&oldid=136006 Акатегориақәа: Лаҵарамза 6 рзы ииз 1914 шықәсазы ииз Лаҵарамза 1 рзы иԥсыз 1988 шықәсазы иԥсыз Аԥсны аполитикцәа Асовет политикцәа СССР Иреиҳаӡоу Асовет 6-тәи ааԥхьара адепутатцәа СССР Иреиҳаӡоу Асовет 7-тәи ааԥхьара адепутатцәа СССР Иреиҳаӡоу Асовет 8-тәи ааԥхьара адепутатцәа Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩцәа КПСС алахәылацәа Ӡиӡариаа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩцәа Ицәыргам акатегориа: CS1 аурыс бызшәахь азхьарԥшқәа (ru) Ацыхәтәантәи аԥсахрақәа абри адаҟьа аҟны: 16:56, 20 жәабранмза 2024. Атекст ахьыманшәалоу Creative Commons Attribution-ShareAlike алицензиала иҟоуп; ахарҭәааратә ԥҟарақәа рылша рныруеит. Шәахә. Инарҭбааны шәахә. убас Ахархәаразы аԥҟарақәа.
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D3%A0%D0%B8%D3%A1%D0%B0%D1%80%D0%B8%D0%B0,_%D0%93%D1%8C%D0%B0%D1%80%D0%B3%D1%8C_%D0%90%D0%BB%D0%B5%D0%BA%D1%81%D0%B5%D0%B8-%D0%B8%D4%A5%D0%B0
2024-02-29T17:29:29Z
<urn:uuid:6a59889d-8946-4e5b-a642-24e0b5b564c8>
[ "footer", "short_sentences" ]
[ "liste_bu", "wikipedia" ]
abk-Cyrl
0.91
0.9
0.98
51
25,030
tlsh:T12AF6BBB2BD80CB4BC6B3C0598A9189366CD1681743327231CDC5F0751A46098EFFDD13EAEAF8168EB4EF1122E1227F11AA4EFCF525BD2AE771D240A17A2F38DD275876D59E
Урыстәыла Амш инамаданы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров дидныҳәалеит. Адныҳәалараҿы иаҳәоит: «Ари аныҳәа исуверентәу аҳәынҭқарра аргылараз амҩа иашьананы иҟоуп. Иҭәуп доуҳатә ҵакыла, еиднакылоит милаҭ рацәала еилоу Урыстәыла ажәлар. Урыстәылатәи Афедерациа – адемократиеи, ахақәиҭреи егьырҭ хәызмоу аҭагылазаашьақәеи ҵаҵӷәны иззыҟоу иахьа жәларбжьаратә аренаҿы иналукааша ҳәынҭқарроуп. Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи реизыҟазаашьа аҩаӡара атәылақәа рыҩбагь рышьагәыҭ жәларқәа ринтересқәа ишрықәшәо агәра ганы сыҟоуп».
http://mfaapsny.org/allnews/news/notes/inal-ardzinba-pozdravil-sergeya-lavrova-s-dnem-rossii/
2024-02-25T08:24:10Z
<urn:uuid:2ed77778-5604-4fb3-b524-51e7c2400cf8>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
0.99
5
1,169
tlsh:T1CB3E70210494D78BD573C0484A924D316EC1A4474261B9719FE3F5912B96048EFFCD13EAF2A4098E248B1322D2527E149A0FEDE6287EBB83B04240A56E6E38E937943282CE
Иахьазы Қырҭтәыла аштамм Омикрон 253 афактқәа шьақәырҕәҕәоуп, аха, реалра, ари аштамм ҿыркаахьеит ҧшьынтә иаҳа ирацәаны ауааҧсыра, — иҳәеит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе. Анализ аҟынтә ишеилкаахаз ала, аштамм ҿыц ҿызкааз рҟынтәи 16ҩык ахәыҷқәеи ахбыџқәеи роуп. Аштамм ҿыц ҿызкааз рҟынтәи 67 наӡына авакцинациа наӡа иахысхьеит, насгьы, ааҩык абустертә дозагьы ҟарҵахьеит. Гамҟрелиӡе иажәақәа рыла, апациентцәа зегьы хар рымамкәа иҟоуп. Гамҟрелиӡе иажәақәа рыла, анеҩстәи ҩымчыбжь рыҩынуҵҟала атәылаҿы ачымазаҩцәа иаҳа ирацәахар ҟалап, аха, агәабзиарахьчаратә система уи иазыхиоуп. Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы даҽазнык ауааҧсыра рахь ааҧхьара ҟаиҵеит алаҵақәа ҟарҵарц, асоциалтә дистанциеи асанитартә нормақәеи рыхьчаларц. АУААЖӘЛАРРА Амирaн Гaмҟрелиӡе ҚЫРҬТӘЫЛА Омикрон 3 Еиҧшу Қырҭтәылеи Кореиатәи Ареспубликеи рыбжьара аекономикатә партниорра иазку аиҿцәажәара актәи араунд иалагеит Питер Сииарто - Қырҭтәыла шықәсқәа раԥхьа ақәнаган Евроеидгыла алалара World of Statistics астатистика инақәыршәаны, атуристцәа уахынла ишәарҭамкәа аныҟәара ахьрылшо атәылақәа рыбжьара, Қырҭтәыла Европа аҵакыраҿ аԥшьбатәи аҭыԥ ааннакылеит Виктор Орбан иажәақәа рыла, 2008 шықәсазы Украинеи Қырҭтәылеи Натои Евроеидгылеи ралалара алшара рыман, аха ари ашанс рхы иадырхәарц ирылымшеит Афинансқәа рминистрра - Жәларбжьаратәи ареитингтә агентра FitchRatings Питер Фишер - 2024 шықәсазы Германтәылеи Қырҭтәылеи Европатәи ахеилакахь аинтеграциазы аусеицура нарыгӡоит Амилаҭтә гвардиа асолдаҭцәа Ҭырқәтәыла имҩаҧысуаз х-ганктәи арратә азыҟаҵарақәа рхы рыладырхәит Германтәыла азакәанҧҵаратә аизара Хыхьтәи апалата Қырҭтәылеи Молдовеи ишәарҭам тәылақәас азханаҵеит Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы атәыла-кандидат статус анашьоуп Ҧхынҷкәын 14-15 рзы Евроеидгыла Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара азҵаара иахәаҧшуеит Амш зеиҧшрахо 4° ашә Қaрҭ ашә 3° аҩ 5° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Мамука Мдинараӡе - Зегьы еилышәкаар сҭахуп, Саакашвили амодернизациа асимвол аҳасабала ихәаҧшра ақырҭуа уаажәлар рыгәҭа антиевропатәи агәалаҟазаарақәа азнарҳауеит Иракли Кобахиӡе - Гурам Габескириа ихьӡ ҳареи игыло абиҧареи иаҳзаанхоит аҧсадгьыл азгәыкреи, аҟәышреи, ақәҧаратә ҟазшьеи аҿырҧштәы аҳасабала Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа Қарҭи арегионқәеи рҿы анаркоацәгьауразы жәаҩык ааныркылеит Урыстәыла Одессазы имҩаҧнагаз авиажәылара амшала аихагыла рацәа змаз ахыбра еилаҳаит, иҧсыз ауаа иҟоуп
https://1tv.ge/lang/ab/news/amiran-gamkhrelidze-qmr%D2%ADtmla-auinmckha-omikron-alarcara-ialageit/
2024-03-03T21:58:56Z
<urn:uuid:388e5f61-e998-440d-81b0-d69a67ae8b00>
[ "footer", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.95
0.67
0.97
30
4,547
tlsh:T16B8027917B04EB4BC1B3C1698F918D362CD16D174625B120CED9B4B12745099EBFCC13AEFAEC0A4E60DF1612D1227F045A0AFCDA29BDFBDB715200A59E3E38E9339476C59E
Нанҳәа 13 рзы ииубилеи азгәеиҭоит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы, аҵарауаҩ, амеценат, ауаажәларратә усзуҩы, зхықәки зымчхареи зыжәлар реиҭеира иазызкыз – Мусса Егзакь. Акрызҵазкуа ари амш инадҳәаланы, АААК аинфопортал иазнархиеит аиубилиар изку аочерк. Гьаргь Чкала Егзакь зынӡа дыҷкәына хәыҷын, иаҳәшьеиҳабы узакәхарц иуҭахда ҳәа даниазҵаа, абас ала аҭак аныҟаиҵоз: «Аԥара рацәа сырҳалоит, ауаа рацәа срыцхрааларц азы». Иахьа иара хьӡи-ԥшеи змоу ҵарауаҩуп, бизнесменуп, хазы игоу ауаа рыцхыраараҿы даанымгылакәа, жәлары зегьы дрыцхраауеит. Умч агәрагара Мусса Егзакь иаԥшьгарала еиҿкааз аконкурс «Ашықәс ашәа – Абаза» 2007 шықәсазы раԥхьаӡа акәны ианымҩаԥыс, аӡәырҩы зныктәи акциоуп ҳәа рыԥхьаӡеит. Аха аконкурс адырҩашықәсангьы имҩаԥысит, убас егьырҭ иааиуаз ашықәсқәа рзгьы иацҵан. Ари аконкурс ауааԥсыра бзиа ирбаз, итрадициатәхаз, абазақәа ркультуратә ԥсҭазаара иузаҟәымҭхо акакәны иҟалеит. Убас ала Егзакь напы аиркит зымҽхак ҭбаау, абаза бызшәеи акультуреи реиқәырхареи рырҿиареи иазынархоу имеценаттә усура. Мусса Ҳабал-иԥа ихаҭа афестиваль «Ашықәс ашәа» иазиҳәоит абаза поетцәеи амузикаԥҵаҩцәеи рырҿиара аимпульс ӷәӷәа азҭо усмҩаԥгатәуп ҳәа. «Ибеиоу ашәатә фонд аҵак ду амоуп абызшәа аиқәырхараҿы, – ҳәа игәы иаанагоит иара. – Ауаа рыҩнқәеи, рмашьынақәеи рҟны, ма иара ус иахьааидтәало иззыӡырыҩуа ашәақәа рацәаны иҳаур, абаза бызшәа зехьынџьара иуаҳауа иҟалоит. Ашәа ҿыцқәа ракәзар, урҭ ҳмузикатә культура еиҳагьы еиздырҳауеит, идырбеиоит. Ари афестиваль – арҿиаразы иӷәӷәоу импульсуп, избан акәзар иара алахәхаразы иаԥҵалатәуп ажәеинраалақәа, амузикатә композициа ҿыцқәа, мамзаргьы иԥшаатәуп ауаа рацәа ирмаҳац ажәытә ашәақәа». 2000-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы абаза культура арҿиаразы даҽа шьаҿакны иҟалеит иавтономтәу икоммерциатәым аиҿкаара «Аԥсуа-абаза жәлар рыҿиара ацхырааразы Жәларбжьаратәи аидгыла «Алашара» аԥҵара. Уи аусураҟны ихадоу акы акәны иҟоуп акультуратә-рккаратә хырхарҭа. Мусса Егзакь: «Алашара» иарҳаз аԥышәа – амилаҭ рыҿиара аус аҿы ҿырԥшы бзиоуп Аиҿкаара аԥҵан 2011 шықәса, жәабран 25 рзы, Санкт-Петербург. Убри ашықәс азы, «Алашара» ахылаԥшрала иҭыҵуеит – абазақәа ркультуреи рҭоурыхи иазку, «Абаза тәылаҟны» ҳәа хьӡыс измоу ашәҟәи (авторцәа – М. Егзакь, Н. Емелианова), ашәуааи аԥсуааи рҭоурых зныԥшуа архивтә документқәа знылаз – «Кавказ Ду аҩ-ганк рыла» ҳәа захьӡу ҩ-томкны еиқәыршәоу аусумҭеи. Иара убас, убри аамҭазоуп ианаԥҵаз аинтернет-саит «Абазатәыла» (alashara.org), абазақәеи аԥсуааи ркультуратә ԥсҭазаареи, аиашьаратә жәларқәа иналукааша рхаҭарнакцәеи ирызку аинформациатә ресурс. Уи анаҩсгьы имҩаԥысуан аспорт адгылара азҭоз аусмҩаԥгатәқәа, Аԥсны иаатуа иалагеит аиқәԥаратә школқәеи, еиуеиԥшым асекциақәеи. 2013 шықәсазы Мусса Егзакь иӡбоит, иуаажәларратә усура Ҟарачы-Черқьессиаҟа, ашәуаа рыԥсадагьыл ахь аиагара. Черқьесск ақалақь аҿы иаԥиҵоит «Алашара» иалкаау аҟәша, ауаа еизигоит, урҭ дҵасгьы ириҭоит – абазақәа ахьынхо-иахьынҵуа ирыгу-ирыбзоу аилкаареи, абаза жәлар рыҿиаразы акомплекстә программа аԥҵареи, уи анагӡареи напы аркра. Усҟан еиԥш иахьагьы Мусса Ҳабал-иԥа иглобалтәу хықәкны имоуп – ашәуа қыҭақәеи, уа инхо ауааԥсыреи рыԥсҭазаара аиӷьтәра. Иара агәра ганы дыҟоуп: азҵаарақәа жәпакы ауааԥсыра рхаҭақәагьы ирзыӡбоит, уи азы агәазыҳәара рымазар, рхы агәра ргозар. «Аҽы акәӡам аус злоу, аӷәра зку иоуп» Мусса диит 1964 шықәсазы, ақыҭа Гәымлоуқыҭ. Ҳабал Егзакьи Фатимаҭ Цәзыкьа-Егзакьи рҭаацәараҿы иара аҩбатәи хәыҷын, зынӡа аҭаацәараҿы иит ԥшьҩык ахшаара. Мусса Ҳабал-иԥа ихәыҷра шықәсқәа ажәа ҟәандала дрыхцәажәоит. «Сан лылагьы, саб илагьы исыман андуцәеи абдуцәеи. Урҭ иаҳзеиҭарҳәоз алакәқәеи, ажәытә ҳәамҭақәеи рыла иҳазҳаит. Зегьы иреиӷьу ауаҩытәыҩсатә ҟазшьақәа ҳаларааӡон», – иҳәоит иара. Мусса Егзакь иҭаацәа дрыгәҭылакны: иан, иаҳәшьцәа, иаҳәшьаԥацәеи, иаҳәшьаԥҳацәеи © Тимур Тургунов Мусса Егзакь иҩнаҭа гәакьа аҟны, Гәымлоуқыҭ © Тимур Тургунов Мусса хәыҷы ихаҭара ашьақәгылараҿы иҷыдоу ароль наигӡеит иаб ила иабду Газиз. Уи уаҩы наӡааӡак, даара еинааланы иҟаз, акрыздыруаз, уамашәа иубаратәы згәы разыз иакәын – аҷкәын хәыҷы изы ҿырԥштәыс, идеалс дыҟан. «Сабду 97 шықәса ниҵит, иқәра убас ишыҟазгьы аҭәа ирхуан», – иабду дигәалашәацыԥхьаӡа, Мусса Ҳабал-иԥа иблақәа агәыблыреи агәеизҳареи рхубаалоит. Мусса Егзакь иабду Газиз Егзакь © Егзакьаа рҭаацәаратә архив аҟнытә Мусса Егзакь иабду Газиз Егзакь © Егзакьаа рҭаацәаратә архив аҟнытә Еиҳаракгьы игәалашәараҿы инхеит хҭыск: иабду ауасақәа иманы аҳәырҭаҿы дшыҟаз, ргәылак идунеи иԥсахит. Усҟан иқәыԥшыз Мусса дрышьҭуеит иҟалаз арыцҳара атәы иабду иеиҳәарцаз. «Исырҭаз аҽы ергьҳәа амҩа ианын – ахы ларҟәны, алымҳақәа хьдышьшьыла. Убас ала цәгьаԥсышьа баны аҳәырҭаҿы снеин, сабду иҟалаз атәы иасҳәеит. Иара дхынҳәаанӡа ауасақәа сырхылаԥшларц азы адҵа насыҭаны, ахьышәтҳәа дҽыжәлеит. Уамашәа иубаша, аҽы иаразнак аԥсы ааҭалеит – ахы ҩышьҭнаԥаан, сабду дышьҭхысаа ақыҭахь дагеит. Убасҟан сара еилыскааит: аҽы акәӡам, уи аӷәра зку иоуп аус злоу». Мусса Егзакь иан Фатимаҭ Цәзыкьа-Егзакь © Егзакьаа рҭаацәаратә архив аҟнытә Мусса Егзакь иан Фатимаҭи иареи © Тимур Тургунов Агәарабжьаратә спорти апрофессионалтә спорти Зыӡбахә ҳамоу аамҭақәа рзы Гәымлоуқыҭ аспорттә школқәеи асекциақәеи ыҟамызт. Абаҩрҵәыра аурок аҟны ахәыҷқәа еиҳарак ампыл акәын изысуаз. Аха ус шакәызгьы, гәарацыԥхьаӡа аԥырҟьақәа гылан, насгьы шамахамзар аҷкәын хәыҷқәа зегьы уи аҟны рҽышьҭыхны изеихаҵәиуан, амала «амра» захьӡыс аихагьежьра аҟаҵара зылшоз – «абаҩхатәра ду злоу» ҳәа иԥхьаӡан. Аҷкәынцәа зегьы иџых-џыхӡа, амч рыланы ирызҳауан. Ҟарачмаҷтәи араион аҟны имҩаԥысуаз ашколтә еицлабрақәа рҟны Гәымлоуқыҭтәи ахәыҷқәа лассы-лассы еиуеиԥшым аспортхкқәа рҿы актәи аҭыԥқәа ааныркылон. Мусса Егзакь астуденттә зеиԥшынхарҭаҟны абокс иҽазыҟиҵоит © Егзакьаа рҭаацәаратә архив аҟнытә Амҭак ашьҭахь ақыҭаҿы дцәырҵуеит абоксиор: Мусса хәыҷы уи дахьцалак дишьҭан, иҽазыҟиҵо далагеит, «иҽиларԥсны дикит» уҳәр ҟалоит. Ленсовет ахьӡ зхыз Ленинградтәи атехнологиатә институт данҭалагьы, Мусса абокс азы иҽазыҟиҵон, аха нас диасуеит зхы иақәиҭу аиқәԥарахь. Хымз рышьҭахь Ленинград иреиҳаӡоу аҵариурҭақәа рыбжьара аиқәԥара дачемпионхоит. Арԥыс испорттә қәҿиарақәа уи алагьы инымҵәаӡеит: иаԥхьаҟа изыԥшын аидгылазегьтәи аҩаӡара змоу аицлабрақәа рҟны аиааирақәа, урҭ аиааирақәа рыбзоурала аспорт азҟаза ҳәагьы дҟалоит. Ленсовет ахьӡ зху ленинградтәи Аҳәынҭқарратә технологиатә институт астудент Мусса Егзакь (1980-тәи ашықәсқәа) © Егзакьаа рҭаацәаратә архив аҟнытә Мусса Егзакь истуденттә шықәсқәа раан (1980-тәи ашықәсқәа) © Егзакьаа рҭаацәаратә архив аҟнытә Ҳәарада, аспорттә ҽазыҟаҵарақәа арԥыс иҟазшьа ианыԥшуеит, еиҳа ддырӷәӷәоит, игәамч еиздырҳауеит, ихықәкқәа рынагӡашьа идырҵоит. Убри азыҳәан, згәабзиара ҳараку ажәлар рыҿиара аус аҟны аспорти абаҩрҵәыреи инарыгӡо ароль бзианы еилызкаауа Мусса Ҳабал-иԥа инаигӡо ауаажәларратәи, мамзаргьы амеценаттәи аусқәа рҟны уи ахырхарҭа иҷыдоу аҭыԥ ааннакылоит. Мусса Егзакь ихаҭагьы шьыжьтәи абаҩрҵәырала имш дналагоит, анаҩс уи иашьҭанеиуеит шьыбжьонтәи абаҩрҵәыра. Мусса Егзакь, Петергоф, 1982 шықәса © Егзакьаа рҭаацәаратә архив аҟнытә Мусса Егзакьи иҩыза Али Тебуеви, астуденттә шықәсқәа, Ленинград, 1982 шықәса © Егзакьаа рҭаацәаратә архив аҟнытә Аспециалист қәыԥш иҟнытә абизнесмен нага иҟынӡа 1987 шықәса, жәабранмзазы Мусса Егзакь инапаҿы иоуеит анџьныр-ахимик-атехнолог идиплом. Мызқәак рышьҭахь, мшаԥымзаазы аусура далагоит Ленинградтәи ахимиа-лабораториатә разагақәеи ахархәагақәеи рзауад аҟны, амеханизациа зызуу аҵхырҭа ацех аиҳабы ихаҭыԥуаҩс. 1988 шықәса, жәабранмзазы азауад атехнолог хада ихаҭыԥуаҩс дҟарҵоит. 1989 шықәса, абҵарамзаазы, Мусса Егзакь дҭалоит асаркьеи аситаллқәеи (аситаллқәа – иҷыдоу атехнологиа ахархәарала илгоу асаркьакристаллтә маҭәахәқәа – аред.) рхимиатә технологиа акафедрахь иаҵанакуа аспирантура, уи дагьалгоит 1992 шықәсазы. Анаҩс аусура далагоит Санкт-Петербург иҟаз Иарку Акционертә Еилазаара «Техноинтеллект» аҟны адиректор хада ихаҭыԥуаҩс. Уаҟа аус иуан 1998 шықәса, жәабранмзанӡа. Мусса Егзакьи иԥшәмаԥҳыс Мадинеи, Санкт-Петербургтәи акультуратә форум аҟны © Егзакьаа рҭаацәаратә архив аҟнытә Мусса Егзакь иԥшәмаԥҳәыс Мадинеи, иԥҳа Аминеи, ианхәа Гаишаҭи © Андреи Тарасов 1998 шықәсазы Мусса Егзакь иаԥиҵоит еиҭамҵуа амал ахь иаҵанакуа апроектқәа аус рыдызуло аиҿкаара – Иаарту Акционертә Еилазаара «Соломон». 2006 шықәсазы, Санкт-Петербург, Енгельс ипроспект аҟны аилазаара иаанартуеит ахәаахәҭратә-агәырҿыхаратә комплекс «Гранд Канион». 2010 шықәсазы иаанартуеит ахәыҷтәы центр «Дивныи город», уи аҩнуҵҟа аус ауеит убасгьы ахәыҷтәы театр «Плоды Просвешьениа». Иахьазы аилазаара напхгара азнауеит ҩышә нызқь метра ԥшьыркца рҟынӡа зҵакыра наӡо еиҭамҵуа акоммерциатә мал. 2016 шықәсазы Ажәабатәи жәларбжьаратәи еиҭамҵуа амал иазку аинвестициатә форум «Proestate-2016» аиубилеитә премиа аҟны, аноминациа – «Еиҭамҵуа ахәаахәҭратә мал» анашьан апроект «Гранд Канион». Мусса Егзакьи иԥҳацәа Лианеи Иннеи © Егзакьаа рҭаацәаратә архив аҟнытә Мусса Егзакь иԥҳа Аминеи иареи, Амеценат имш аҽны, Ермитаж © Тимур Тургунов Аилазаара еснагь адгылара рынаҭоит еиуеиԥшым асоциалтә проектқәа, ирыцхраауеит агәыҳалалратә фондқәа, ахәыҷтәы ҵаратә усбарҭақәа, аҟазара аусзуҩцәа, аспортсменцәа, адинхаҵаратә еиҿкаарақәа. Иус хада инаваргыланы Мусса Егзакь иҭҵаарадырратә ԥшаарақәагьы реизырҳара даҿын: адиссертациа ихьчеит, атехникатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор ҳәа ахьӡ ихҵоуп. Мусса Егзакьи иҭаацәареи Пискаревтәи амемориалтә ԥсыжырҭаҟны, 2018 шықәса, лаҵарамза 9 © Андреи Тарасов Иԥсҭазаара зызку Мусса Егзакь ӷәӷәала ишьапы данықәгыл, иҽазикуеит даныхәыҷыз аахыс реиҳа ихаданы иҿаԥхьа иқәиргылаз ахықәкы – ижәлар реиқәырхара. Усҟан даныхәыҷыз, иаҳәшьеиҳбы лызҵаара аҭак ҟаҵо, Мусса абас мҽхакыҭбаала дымхәыцуазар ҟаларын. Аха ижәлар гәакьа реиҭеира дацхраарц агәазыҳәара еснагь ицын. «Сыжәлар реиқәырхара азҵаара есымша сгәы иҵхон. Аамҭа цацыԥхьаӡа урҭ ахәыцрақәа еиҳагьы иӷәӷәахон… избон, исныруан ҳатрадициақәеи, ҳбызшәеи, ҳкультуреи аӡра ишаҿу, – иҳәоит Мусса Ҳабал-иԥа. – Санстудентызгьы, ақалақь ду аҟны аҵара анысҵоз, исызгәакьоу, смилаҭ иатәу шысзымхо сныруан… иаҳҳәап, смилаҭ рашәақәа зну кассетақәак рзыӡырҩразы алшара сымазтгьы, сыԥсадгьыл усҟак сацәыхарамшәа схы збалар ҟаларын. Аха усҟан ус еиԥш акгьы ыҟамызт». Мусса Ҳабал-иԥа игәалашәоит, хәыҷы-хәыҷыла иара дзызкыҵәҟьоу аилкаара шизааиуаз: ижәлар рмилаҭтә хаҿра аиқәырхаразы илшо зегьы аҟаҵара, «ҳхәыҷқәеи, ҳмоҭацәеи рыдагьы, ԥхьаҟатәи абиԥарақәагьы ирзыԥшу аԥсҭазаара гәрахаҵарала иазнеиразы», рхылҵшьҭра рдыруазарц, уи еиҷаҳаларц азы. «Ҳәарада, сыжәлар рхаҭарнакык иаҳасабала исҭахуп, ҵарадыррала, доуҳатә ԥшӡарала сџьынџьуаа зегьы инарылукаауа иҟазарц, рыжәлар хәыҷи, ртәылеи азы акрызҵазкуа азҵаарақәа рыӡбаразы алшара роурц. Исывагылоу аицеиҿкааҩцәеи сареи иазҳархиеит аетнос аиқәырхареи, арҿиареи иазынархоу жәашықәса иазыӡбоу апрограмма. Сара еилыскааит: убри апроект насыгӡаанӡа, ҭынч сзынхараны сыҟаӡам», – иҳәоит Егзакь. Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь Москватәи аԥсуа диаспора рахь ихы нарханы дықәгылеит. © Москватәи аԥсуа диаспора Мусса Егзакь, Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара аҽны имҩаԥысуаз аусмҩаԥгатәқәа раан, Аҟәа, 2018 шықәса, лаҵарамза 21 © АААК / Наала Аҩӡԥҳа Иреиҳаӡоу амал – ауаҩ иоуп Мусса Егзакь ирҳауа ахарџь ахәҭа ду – Ҟарачы-Черқьессиа абаза қыҭақәа рыԥсҭазаара аиӷьтәра иазоуижьуеит. Аха уи аамҭазгьы инаҵшьны иазгәеиҭоит: даара акраҵанкуеит ауаа рхаҭақәагьы рыԥсҭазаара аԥсахра ианашьҭоу. «Ауаа реиланхарҭақәа рҟны иаԥаҳҵеит ауаажәларратә хеилакқәа. Раԥхьатәи ауаажәларратә хеилак аартын сқыҭа гәакьа Гәымлоуқыҭ, анаҩс – Ҟарачы-Черқьессиа егьырҭ ақыҭақәа рҿгьы. Ақыҭақәа реиҳабырақәеи ҳареи ҳамчқәа еилаҵаны, ақыҭақәа рырҿиаразы аплан ашьақәыргылара напы аҳаркит. Убас, шьаҿа-шьаҿала ари апроцесс ахь ауаа адыԥхьало, ҳаидгыланы, ҳаицтәылауаа рнапала рыԥсҭазаара еиӷьыртәырц азы алшарақәа аԥаҳҵон. Ауаа аҵыхәтәантәи алҵшәа зеиԥшрахо дара рнапаҿы мацара ишыҟоу анеилыркаауа, ахықәкы анынаӡо аамҭазы, рдунеихәаԥшышьагьы аҽаԥсахуеит. Ҳастратегиаҟны убри ихадоу акы акәны иҟоуп», – иҳәоит Мусса Ҳабал-иԥа, инацҵангьы иазгәеиҭоит: «Сгәаанагарала, ишырҳәо еиԥш «ахаҳәқәа реизгара» аамҭа ааит. Ԥхьаҟатәи ҳабиԥарақәа ҳрызхәыцноуп апланҟаҵара напаркра шахәҭоу. Ауаҩы ихадароу аҭыԥ ахьааникыло абызшәеи акультуреи рыҿиара апрграммақәа рынагӡарала ҳажәлар реиҭеира ашьаҭа ҳкуеит. Ауаҩы иоуп – ихадоу амазара, иреиҳаӡоу амал. Аԥсадгьыл – аԥсҭазааратә гәамч иахыҵхырҭоуп Иахьатәи аамҭа иақәшәо ақыҭа зеиԥшразарц ахәҭоу Мусса Егзакь иаҳирбарц иӡбоит иқыҭа гәакьа Гәымлоуқыҭ аҿырԥшала. Анаҩс, уи аԥышәа егьырҭ ашәуа қыҭақәа рахь иигахарц азы. Уи ашьҭахь абри амодель ихьакәзаалакгьы иалаурҵәар алшоит. Мусса Ҳабал-иԥа Егзакь иаԥшьгареи, ифинанстә цхыраареи рыла 2013 шықәсазы Гәымлоуқыҭ ихацыркын ақыҭа зегь рыла аиқәыршәаразы зымҽхак ҭбаау аусмҩаԥгатәқәа. Амҩақәа ҟарҵеит, асоциалтә обиектқәа дырԥшӡеит. Агәам-сам ахькажьыз нарзантәи аӡыҵхәраа – еиҿкааӡа иҟоу апарк алырхит, иахьа уаҟа хәыҷи-дуи гәахәарала рыԥсы ршьоит. Гәымлоуқыҭ, Ҟарачы-Черқьессиатәи Ареспублика, Урыстәыла © Тимур Тургунов Аӡиас Кума аԥшаҳәа, Гәымлоуқыҭ © Тимур Тургунов 2018 шықәсазы иргылан иҟаимаҭу аспорттә комплекс, иахьазы уаҟа шәҩыла ақыҭауаа – аиҳабацәагьы аиҵбацәагьы рҽазыҟарҵоит. Иазырхиоу апроект – «Акурорт Гәымлоқҭ» (Гәымлоуқыҭ, абаза бызшәала – Гвымлокт – ижәытәӡатәиу хьӡуп, Гәым аӡиас аԥшаҳәаҿы ишьҭоу Лоуаа рқыҭа ҳәа аанагоит – аред.), анагӡара ашьҭахь, Гәымлоуқыҭ аԥсшьаҩцәа зҭаауа ҭыԥны иҟалоит. Мусса Егзакь иџьынџьдгьыл иаҭаара – еснагь ихҭыс дууп. Иара Санкт-Петербург аус рацәа ишимоугьы, шықәсык ала изныкымкәа иқыҭахь даауеит. Усҟан аҭыԥантәи ауаажәларратә актив зегь еизоит, раԥхьагылаҩи дареи рқыҭа арҿиара аплан ҿыцқәа аус рыдулара напы адыркуеит. Аспорткомплекс «Алашара», Гәымлоуқыҭ © Андреи Тарасов Мусса Ҳабал-иԥа даараӡа бзиа ибоит иқыҭа гәакьа. «Иҟалоит Урыстәыла аҩадахьы уиины, уԥсҭазаара зегь уа имҩаԥысуаны, аҵх лашақәеи, уатәи аԥсыӡхкқәеи, уатәи амаахырқәа ирылху ақалмышьқәеи гәыкала бзиа иубо уҟазарц. Аха ҽнык зны Ельбрус ашьха ашьапаҿы уаауеит, ишәҭуа аҭәаҵлеи ашьац иаҵәеи рыфҩы уԥынҵа иааҭасуеит, ашьха ухаланы аҳауа цқьа лбааудоит, уи ашьапаҿы аӡхыҽҽа еибах-еибафо ишлеиуа абжьы уаҳауеит, хыхьынтәи адәеиужь лаԥшыла иааимудоит – ашьхаӡиас адунеи иақәлоу ахатә ҭоурых ахьаннаҵо, нас чаик унаҿыхәоит, иагьеилукаауеит: абар уԥсадгьыл, аԥсҭазааразы гәамч узҭо, уажәы-уашьҭан уззыхынҳәло», – иҳәоит иара, агәрагьы игоит иқыҭауаа зегьы абарҭ ицәаныррақәа шицеиҩыршо. Мусса Егзакь иҷкәын Нурии иареи, Гәымлоуқыҭ архаҿы © Тимур Тургунов Мусса Егзакь ақыҭа Гәымлоуқыҭ архаҿы © Тимур Тургунов Жәлар раԥхьагыла Черқьесск имҩаԥысуаз, ИАЕ «Алашара» иалкаау аҟәша аӡыргара аҽны, Мусса Егзакь ирҭеит азҵаара: «Абазақәа ауаажәларратә еиҿкаарақәа ԥыҭк рымоуп, «Алашара» урҭ излареиԥшымхои?» – ҳәа. Егзакь абас аҭак ҟаиҵеит: «Ҳусура шьаҭас иамазаауеит асистемаркра. Ҳҿаԥхьа ахықәкы ҳаргылалоит, нас уи зланаҳагӡаша амҩақәа ылаҳхлоит, убарҭ амҩақәа рылхразы иахәҭоу аус қәа мҩаԥаҳгалоит. Абас шьаҿа-шьаҿалоуп аихьӡара дуқәа рҟынӡа анеира шалшо». Мусса Егзакь Пискаревтәи амемориалтә ԥсыжырҭаҟны, Санкт-Петербург, 2019 шықәса © Андреи Тарасов Мусса Егзакь Пискаревтәи амемориалтә ԥсыжырҭаҟны, Санкт-Петербург, 2019 шықәса © Андреи Тарасов ИАЕ «Алашара» аԥшьгаралеи, иара хаҭалатәи алахәралеи имҩаԥысуа хыԥхьаӡара рацәала акультуреи, аҵараҵареи, аспорти, аҭҵаарадырреи, агәабзиарахьчареи, асоциалтәи ауаажәларратәи хырхарҭақәеи ирызку апроектқәа қәҿиарала рынагӡара абзоурала, аилазаара иаднаԥхьалеит аԥсҭазаара аиӷьтәра иашьҭоу абаза жәлар амчқәа. «Алашара» акәша-мыкәша рҽеидыркылеит пату зқәу аилазаарақәа ԥыҭк, урҭ зегьы еидгыланы ишьақәдыргылеит Ассоциациа «Аԥсадгьыл». Ассоциациа ахантәаҩыс далхын Мусса Егзакь. Мусса Егзакь, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VII-тәи аизараҟны, 2018 шықәса, хәажәкыра 22 © АААК / Наала Аҩӡԥҳа Мусса Егзакь, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VII-тәи аизараҟны, 2018 шықәса, хәажәкыра 22 © АААК / Наала Аҩӡԥҳа АААК Аинформациатә портал аиҳабы Амина Лазԥҳаи, АААК Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакьи, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VII-тәи аизараҟны, 2018 шықәса, хәажәкыра 22 © АААК / Наала Аҩӡԥҳа Мусса Егзакь, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VII-тәи аизараҟны, 2018 шықәса, хәажәкыра 22 © АААК / Наала Аҩӡԥҳа Мусса Егзакь, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VII-тәи аизараҟны, 2018 шықәса, хәажәкыра 22 © АААК / Наала Аҩӡԥҳа 2017 шықәсазы Жәларбжьаратәи аԥсуа-абаза жәлар рассоциациа Аизара ду аҟны Мусса Егзакь уи аиҿкаара ахантәаҩыс иалхра азҵаара ықәдыргылеит, дагьалырхит. Убри Аизара ду аҟынгьы Ассоциациа еиҭашьақәыргылан Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс (АААК) ҳәа. Абар уажәшьҭа абаза жәлар зегьы раԥхьагылаҩ иаҳасабала, Мусса Егзакь напы аиркит астратегиатә уснагӡатә аӡбара – адунеи зегьы иқәынхо ашәуааи аԥсуааи реидкылара, ихадоу ахықәкы – аетнос аиқәырхара – анагӡаразы. Мусса Егзакьи АААК аделегациеи Ҭырқәтәылатәи Ареспублика раҭаараан, аџьынџьуаа рԥылара, 2018 шықәса, лаҵарамза © АААК / Наала Аҩӡԥҳа Мусса Егзакьи АААК аделегациеи Ҭырқәтәылатәи Ареспублика раҭаараан, аџьынџьуаа рԥылара, 2018 шықәса, лаҵарамза © АААК / Наала Аҩӡԥҳа Мусса Егзакьи АААК аделегациеи Ҭырқәтәылатәи Ареспублика раҭаараан, аџьынџьуаа рԥылара, 2018 шықәса, лаҵарамза © АААК / Наала Аҩӡԥҳа Мусса Егзакьи АААК аделегациеи Ҭырқәтәылатәи Ареспублика раҭаараан, аџьынџьуаа рԥылара, 2018 шықәса, лаҵарамза © АААК / Наала Аҩӡԥҳа Мусса Егзакьи АААК аделегациеи Ҭырқәтәылатәи Ареспублика раҭаараан, аџьынџьуаа рԥылара, 2018 шықәса, лаҵарамза © АААК / Наала Аҩӡԥҳа «Сахьӡар сҭахуп Сыԥсадгьыл маҷи, Урыстәылеи, Аԥсныи ирыхәаша, акрызҵазкуа аусқәа рынагӡара. Ҳаԥхьаҟатәи абиԥарақәа рыҿиаразы ашьаҭа ӷәӷәа азырхиара, – иҳәоит Егзакь. –Ужәлар, уԥсадгьыл бзиарас ирзыҟауҵаз алоуп адунеи аҿы ушьҭа шынужьуа». Гәык-ԥсыкала Мусса Ҳабал-иԥеи, абаза жәлари зегьы ирзеиӷьаҳшьоит хыхь ишҳәоу еиԥш иҟаларц! Анҵыра дуи, ихырҳагоу аусуреи шәзеиӷьаҳшьоит, иаҳазгәакьоу Мусса Ҳабал-иԥа. Шәыԥсҭазаара илашоу, анасыԥ зцу амшқәа рыла иҭәызааит! Мусса Егзакь Ахаҭарақәа Акомментари ааныжьразы шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп. Ашара а б в г ӷ д џ е ҽ ҿ ж з ӡ и к қ ҟ л м н о ҩ п ԥ р с т ҭ у ф х ҳ ц ҵ ч ҷ ш ы ь ә Абхазский язык Абазинский язык а б в г д е ё ж з и й к л м н о п р с т у ф х ц ч ш щ ъ ы ь э ю я Ӏ Абхазский язык Абазинский язык Ахҳәаа ыҟам Атема ала анҵамҭақәа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VII-тәи Аизара ду аҩбатәи аилатәара 22.03.2018 19:15 Мусса Егзакь АААК аҿаԥхьа иқәгылоу ихадароу ахыдҵақәа азгәеиҭеит 16.09.2018 11:55 Мусса Егзакь: ҳажәлар зегьы ҭаацәара дук еиԥш срыхәаԥшуеит 16.09.2018 13:35 Мусса Егзакь: «Алашара» иарҳаз аԥышәа – амилаҭ рыҿиара аус аҿы ҿырԥшы бзиоуп 19.03.2019 17:45 Ахҭысқәа Тотальный диктант на абазинском языке прошел в АГУ Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аҿы зымҽхак ҭбаам авиртуалтә екскурсиа Адиспансеризациа 2024: АААКи Агәабзиарахьчара аминистрреи ашколхәыҷқәа ргәабзиара агәаҭара еиҭахацдыркит. Аҿцәажәара «Необходимо сохранить наш маленький абхазский мирок»: интервью с Теймуразом Тания "Згәы зыԥхьаны иааз": АААК иазнархиеит хатәгәаԥхарала иҳавагыланы еибашьуаз ирызку авидеонҵамҭа Аԥсни италиатәи ақалақь-ҳәынҭқаррақәеи: аԥсуа ҵарауаҩ Чрыгба ишәҟә ҿыц Реиҳа изыԥхьо «Аԥсуара амҩахәасҭақәа» рцикл: Феликс Џьинџьиа иҿцәажәара 13 Жәабран 2024 12:00 Адиспансеризациа 2024: АААКи Агәабзиарахьчара аминистрреи ашколхәыҷқәа ргәабзиара агәаҭара еиҭахацдыркит. 18 Жәабран 2024 15:30 АААК еиҭахацнаркит аҧсуа милаҭтә хәмаррақәа ирызку апроект 10 Жәабран 2024 16:35 Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аҿы зымҽхак ҭбаам авиртуалтә екскурсиа 19 Жәабран 2024 13:30 Анҵамҭақәа зегьы Ҳара ҳхархәаҩцәа АХМЕТ ЦЕЫЛАН Намрита Анчан Рецеп Ценбеы Расул Чуков Бссам Маршан Земфира Чикатуева Алхас Қаԥшь Нато Шармат Аҭалара Аҽҭаҩра Афотосахьақәа Аҧсны еиуеиҧшым акәакьқәа рҿы Ажьырныҳәа шымҩаҧырго зныҧшуа афотолента Авидеонҵамҭақәа Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аҿы зымҽхак ҭбаам авиртуалтә екскурсиа Апроектқәа рыдгылара / Алахәцәа рыхәҭалагала Ахшәаара Аконгресс алалара Арзаҳал ахарҭәаара Аконгресс аҿы Аконтактқәа Амультимедиа Апроектқәа Аконгресс ажәабжьқәа © 2024 АААК Азинқәа зегь хьчоуп 18+ , ма шәыҽҭажәҩыроуп. АААК алахәцәа рхыԥхьаӡарахь адкылара аԥҟарақәа Арзаҳал онлаин ахарҭәаара Арзаҳал PDF аҭагалара Иҭабуп шәахьҳадҵаалаз. Иаарласны ҳаҽшәымаҳдоит. Иҭабуп шәахьҳалахәхаз! Иалашәҵаз азыҳәара хымԥада ҳахәаԥшуеит. 6LdxQOEZAAAAAL3LWoDTaiPBeqvYYgyFFgoALtD0 E-mail Ажәла, ахьӡ, абхьӡы Атекст аҿы агха Аацҳамҭа Асахьатә фаил, ма адокумент Ашьҭра 6LdxQOEZAAAAAL3LWoDTaiPBeqvYYgyFFgoALtD0 E-mail: Апароль Сагәалашәааит Апароль шәхашҭма? Аҭалара Аккаунт аԥҵаӡами? Аҽҭаҩра Ахархәаратә еиқәшаҳаҭра Асоциалтә ҳақәа рыла аҭалара: Защита reCAPTCHA: Конфиденциальность и Условия использования 6LdxQOEZAAAAAL3LWoDTaiPBeqvYYgyFFgoALtD0 E-mail: Ишәхәыц апароль (ф-символк иреиҵамкәа) Апароль еиҭанышәҵа Ахархәаҩ иақәшаҳаҭра аԥҟарақәа сыдыскылоит, схаҭаратә дыррақәа аус рыдулара сақәшаҳаҭуп. Аҽҭаҩра Асоциалтә ҳақәа рыла аҽҭаҩра: Защита reCAPTCHA: Конфиденциальность и Условия использования Иашәырбаз аелектронтә ԥошьҭа арҵабыргразы ишәзынашьҭуп азхьарԥш згәылоу асаламшәҟәы. Аҭаӡ Спам иҭоу агәаҭара шәхашәмыршҭын! Апортал анҵамҭақәа Шәаккаунт апароль аиҭашьақәыргыларазы ахьарԥш згәылоу асалам шәҟәы шәзынашьҭын. Ахьарԥш ала шәиасны апароль ҿыц шәхәыц.
https://www.abaza.org/abk/mussa-egzak-syzhlar-reikuyrkhara-aztsaaara-skhuychaakhys-sguy-itskhoit
2024-02-22T14:08:37Z
<urn:uuid:e1c42131-42c5-4ae6-a47d-16e5eb297ff8>
[ "footer", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.9
0.62
0.98
229
38,383
tlsh:T1E3536D03AD80CB4BD6B3C048CB918D3528E1681743637630CEC9F4B11651099EFFCC139AFAE8165E74AF1266D222BE11B94AECE965BD7AE331D300A52D3F35EE279436D59E
Аиҿцәажәара ашьҭахь Рауль Ҳаџьымбеи Русҭам Минниханови Ҭаҭарсҭан Ареспублика аделегациа злахәыз инарҭбааны аиҧылара иалахәын. Ара иалацәажәеит Аҧсни Ҭаҭарсҭани еиҳа хра злоу аҧхьаҟатәи русеицура. Аиҧылара иалахәын иара убас Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба, Аҧыза-министр Артур Амқәаб, Аҧсны Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Асҭамыр Ҭаниа, Аҧсны Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩы Асҭамыр Аппба, Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩы Дмитри Сериков, Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба, Ақыҭанхамҩа аминистр Ҭемыр Ешба, Акурортқәеи атуризми рзы аминистр Авҭандил Гарцкиа, Ахада Иабжьагаҩ Амиран Лагәлаа, Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Геннади Гагәлиа, Аҟәа ақалақь ахада Адгәыр Ҳаразиа, Очамчыра араион ахада Хьрыҧс Џьопуа. Аҧсныҟа иааз Ҭаҭарсҭан аделегациа аилазаараҟны иҟоуп УА Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Фатих Сибагатуллин, Ҭаҭарсҭан Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩы – ақыҭанхамҩеи афатәи арыжәтәи рминистр Мараҭ Ахметов, Ҭаҭарсҭан Ахада Ицхырааҩ Леила Фазлеева, Ҭаҭарсҭан аекономика аминистр Артиом Здунов, ааглыхреи ахәаахәҭреи рминистр ихаҭыҧуаҩы Руслан Кабиров, аинвестициатә ҿиара анапхгаҩы Аусбарҭа Ҭалиа Минуллина, аминистррақәеи аусбарҭақәеи рхаҭарнакцәа, анаплакқәа рнапхгаҩцәа. Аиҧылара аартуа, Рауль Ҳаџьымба агәра ганы иҳәеит, Аҧсни Ҭаҭарсҭани русеицура иҿыцу, иахьатәи аамҭа иақәшәо, аҩ-ганк ирзыфеидоу аҩаӡарахь ашьҭыхра шрылшо. «Ҳара ҳганахьала ари апроцесс ганрацәала ацхыраара аҭара ҳазхиоуп», - иҳәеит Ахада. Уи дазааҭгыланы иҳәеит, аҳәынҭқарра ахатәреи аинвестициақәеи рзы игәрагоу ахәдықәҵара ишадгыло атәы. «Арҭ азҵаарақәа аполитикатә ҭагылазаашьа иадҳәаланы ҟалашьа амаӡам иагьыҟалаӡом. Ҳара ҳзы акраҵанакуеит ҳпартниорцәеи ҳареи ҳабжьара иҭышәынтәалоу, аҿҳәара ду змоу аусеицура ашьақәыргылара », - иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада. Рауль Ҳаџьымба ҿыцу хырхарҭа хадақәаны иазгәеиҭеит атуристтә ҟәша, ақыҭанхамҩа, атранспорт-логистикатә инфраструктура, амшынтә баҕәазақәа, аҳаиртә баҕәаза, аихамҩа налаҵаны. «Ҳәарада, ихадароу ак ақәны ҳахәаҧшуеит Аҧсны мрагыларатәи арегионқәеа рыҟны аинвестициақәа радҧхьалареи, аустә гәацҧыҳәара ашьҭыхреи. Арҭ араионқәа хархәара змам алшара дуқәа рымоуп», - иазгәеиҭеит Рауль Ҳаџьымба. Ҭаҭарсҭан Ахада ахә ҳаракны ишьеит аурыс-аҧсуа еизыҟазаашьақәа рҳәаа иҭагӡаны ареспубликақәа русеицура арҿиаразы иҟоу аҭагылазаашьа. Русҭам Минниханов иазгәеиҭеит, Аҧсны иаара хықәкы хаданы ишамоу ахәаахәҭра-економикатә, аҭҵаарадырра-техникатәи, акультуратә усеицура. «Ҳреспублика аделегациа аилазаараҟны иҟоуп ҳминистррақәеи ҳусбарҭақәеи рнапхгаҩцәа, иналукааша Ҭаҭарсҭан аилахәырақәа рхаҭарнакцәа. Сгәы иаанагоит, авизит иҭагӡаны ҭаҭарсҭантәии аҧснытәи абизнесуаа русеицуразы ахырхарҭа ҿыцқәа раартра рылшап ҳәа, апроект ҿыцқәа рымҩаҧгара иалацәажәап ҳәа», - иҳәеит иара. Русҭам Минниханов иҳәеит ареспубликақәа рыбжьара атауареикәшара азеиҧш мҽхакы азырҳаразы алшара шыҟоу атәы. «Рыцҳарас иҟалаз, ҳара макьана иҟоу алшарақәа зегьы ҳхы иаҳархәаӡом. Аекономика аҟәшаҟны ҳусеицура мҽхакы ҭбаала ихацырктәуп», - иазгәеиҭеит ареспублика ахада. Минниханов Аҧсны Ахада диқәшаҳаҭхеит аусеицуразы агро-ааглыхратә комплекс, атуризм, IT- атехнологиақәа, агәабзиарахьчара, атранспорт, аҵараиура, аҭҵаарадырра хырхарҭа хадақәаны иҟоуп ҳәа ахьазгәеиҭаз. Ҭаҭарсҭан Ахада иазгәеиҭеит ас еиҧш авизитқәа асистематә ҟазшьа шрымазар акәу. «Ҳара арҿиара ҳаҿуп жәларбжьаратәии адәныҟаекономикатәии еимадарақәа, иаҳҭахуп аҧсуа бизнесгьы аусацура арҭбаара. Ҳара иазҧхьагәаҳҭахьоу рацәоуп, урҭ шәара шәыцеҩшара ҳазхиоуп. Ҭаҭарсҭан шәара шәзы иаартуп, ахырхарҭақәа зегьы рыла аусура иазхиоуп», - иҳәеит иара. Инарҭбааны имҩаҧысыз аиҧылараҟны имҩаҧган Аҧсни Ҭаҭарсҭани рекономикатә лшарақәа рцәыргақәҵара. Аусуратә визит аҳәаа иҭагӡаны аделегациа иара убас анаплакқәа жәпакы ирҭаараны иҟоуп – Аҟәа ақ. аҟны ахш зауад, Очамчыра араион аҟны арҧхгатаә комплекс, авертолиот ала Очамчыра амшын баҕәаза, ақыҭанхамҩа дгьылқәа, Тҟәарчал ақалақь аҟны азауадқәа "Заря", "Аргонавт" аҭыҧқәа ирыхәаҧшуеит.
https://presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/2952/?print=Y
2024-02-22T20:13:12Z
<urn:uuid:f8c05046-c657-437f-a753-924783874211>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
1
13
7,243
tlsh:T1EC647DE15640DF4BC6B7C185DBD19A316CD1185752227620CEC9F5B00682099EFFCD036AFAE916CA74EB2611D266BF10A90ABDF6647DAFE7305240A16D3F39DD379072C2AE
Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла илыдырныҳәалоит «Ахьӡ-Аҧша» аорден III аҩаӡара занашьоу, Аԥсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы Емма Адлеиԥҳа лиубилеи. Емма Қьамал-иԥҳа 1978 шықәса рзы еиҿкааз Аԥсуа телехәаԥшра ахыҵхырҭаҿы игылаз дыруаӡәкуп. Ателехәаԥшра раԥхьаӡа акәны аефир ахь ианцәырҵыз абҵара 6 акыр зҵазкәа рыцхәны иҟалеит Аҧсны аҭоурых аҿы. Уи ашьақәгылареи аҿиареи зџьабаа ду аду аусзуҩцәа дыруаӡәкуп. 25 шықәса инреиҳаны ҳтәылаҿы имҩаԥысуаз ахҭыс хадакәа ҳажәлар рызнагара иазкыз аинформациатә дырраҭара «Амшеикәшара» амҩаԥгаҩыс дыҟан. Ҧсабарала илымаз абаҩхатәра иабзоураны абри аус аҟны иаалырԥшит зыҩаӡара ҳараку адиктортә ҟазара. 2004 шықәсазы аҧсуа информациатә маҵзура аредакторс аусура далагеит, иахьагьы уаҟа лусуруа иацылҵоит. Аҧсуа телехәаҧшра ашьақәгылареи аҿиареи рыҟны ллагаламҭазы Е.Адлеиба иланашьоуп «Ахьӡ-Аҧша» аорден III аҩаӡара, илыхҵоуп иара убас «Аԥсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы. Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла Емма Адлеиԥҳа лиубилеи лыдныҳәало илзеиӷьаршьоит аманшәалара, агәабзиара зҩыда, ақәранҵыра ду!
https://sj-ra.info/a-sny-azhurnalistts-a-reidgyla-adny-alara/
2024-03-04T09:24:17Z
<urn:uuid:beb12094-2719-4488-b8fd-a42bddeab655>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
0.98
7
1,942
tlsh:T1EAF03E417904CB4BCAB3D0598AC34E3678C1142703727360CDCAF1B46282158EFFCC52D9FBD44953B4AB1225D122BF089A19FCEA18BEFAD731A204252D2F3CDB1A5476999F
Абҵарамза 26 1994 шықәса ҳтәылазы иалкаау мшуп. 28 шықәса ҵит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа рыдыркылеижьҭеи, иара иагәылоуп аконституциатә шьақәгылашьа ашьаҭақәа, ауаҩи атәылауаҩи рзинқәеи рхақәиҭрақәеи рзы ахәдықәҵарақәа, ажәлармчра апринцип хадақәа, акзаара, Аҧсны Аҳәынҭқарра аҵакырадгьыл мхышьа аҟамзаара, насгьы аҳәынҭқарратә мчра азакәанҧҵаратә, анагӡаратә, аӡбаратә ҳәа еихызшо аҧҟарақәа. Абри амш аҽны ауп ианрыдыркылаз иахьа ҳҳәынҭқарра исуверентәу,идемократиатәу, изинтәу тәыланы иҟазҵаз Азакәан Хада. Абри акрызҵазкуа амш аҽны Аҧсны жәлар ирыдаҳныҳәаларц ҳҭахыуп Аконституциа Амш, ирзеиҕьаҳшьоит атәыла аполитикатә ҧсҭазаараҟны аҭышәынтәалара, ҳажәлар аизҳазыҕьара рымазааит, иаҳгәалаҳаршәоит зымч-зылша, здыррақәа, зыҧсы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа раҧхьаӡатәи атекст аҧҵара иадызҵаз зегьы. « Конституционный суд Республики Абхазия поздравляет с 29 годовщиной Победы в Отечественной войне народа Абхазии 1992–1993 гг. Поздравление с наступающим Новым годом и Рождеством »
https://ks.apsny.land/ap/item/212-akonstitutsia-amsh-azy-adny-alara
2024-03-04T21:21:45Z
<urn:uuid:afb5b2e8-e518-4505-ae7e-1f4ec195c109>
[]
[]
abk-Cyrl
0.82
0.75
1
4
1,826
tlsh:T1C7EFA4316980CB4FD2F3C19A8B51CD36BDD0140B4622B3308DD8B4A42B96059FFFCD13BAE5E5454AB5EB1201D066BA18A91AEED5A1BEAFD7718100D13E2F7CD9325076C6AF
Жозеп Боррель – 2022 шықәсазы Урыстәыла аекономика маҷхеит 2,1 наӡынала, џьоукы асанкциақәа алҵшәа рхылҵуам ҳәа ргәы иаанагоит, аха, ус акәӡам ишыҟоу - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Жозеп Боррель – 2022 шықәсазы Урыстәыла аекономика маҷхеит 2,1 наӡынала, џьоукы асанкциа... Иҵегь аҭагалара Жозеп Боррель – 2022 шықәсазы Урыстәыла аекономика маҷхеит 2,1 наӡынала, џьоукы асанкциақәа алҵшәа рхылҵуам ҳәа ргәы иаанагоит, аха, ус акәӡам ишыҟоу 13:21, 27.08.2023 Ҵыҧх Урыстәылантә Евроеидгыла атәылақәа рахь аекспорт маҷхеит 58 наӡынала, сынтәа актәи акварталаз ари арбага 75 наӡына иреиҳауп, – иҳәеит адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадара аполитикеи рзы Евроеидгыла Иреиҳаӡоу акомиссар Жозеп Боррель. Иара игәаанагарала, Урыстәыла иаҿагыланы Евроеидгыла ишьақәнаргылаз асанциақәа алҵшәа рхылҵит. «Џьоукы асанкциақәа алҵшәа рхылҵуам ҳәа ргәы иаанагоит, аха, ус акәӡам ишыҟоу. Шықәсыкала Урыстәыла алшарақәа раҧкреи, ахадаратә џьармыкьақәа рҟынтә алгареи, ааглыхратәи атехнологиатәи алшарақәа рырмаҷреи ҳалшеит», — иҳәеит Боррель. Боррель иажәақәа рыла, Украина иаҿагыланы Урыстәыла имҩаҧнаго аибашьра аанкыларазы Мраҭашәаратә политика нагӡатәуп. Жәларбжьаратәи аенергетикатә агентра адыррақәа рыла, анефҭ аҭирантә Урыстәыла иаиуаз ахашәала шықәсыкала имаҷхеит 27%-ла. Иара убас, Боррель ишиҳәаз ала, аибашьра анагӡара амзызла абџьар ааглыхразы Урыстәыла иаҭаху, иҩбоу азкызаара змоу атауарқәеи ҳаамҭазтәи атехнологиақәеи Евроеидгылантә рекспорт 2022 шықәсазы имаҷхеит 78%-ла. АДУНЕИАҾЫ aсaнкциaқәa Жозеп Боррель 3 Еиҧшу Жозеп Боррель Иракли Кобахиӡе иахь - Ҳаҭыр зқәу аԥыза-министр, Бриуссель шәҭаара Қырҭтәыла европатәи амҩа хәмаррада ишалнахыз иаҳнарбоит Бриуссель имҩаԥысуеит Қырҭтәыла-Евроеидгыла ассоциациатә хеилак аилатәара Жозеп Боррель - Уаҵәы Қырҭтәыла аԥыза-министр ҿыц ҳиԥылоит, иара иахь ааԥхьара ҟаҳҵоит Европатәи амҩа аус адулара наигӡарц Жозеп Боррель Киев дыҟоуп Роман Гоцириӡе - Узқәиҭым атауарқәа Урыстәылаҟа инагоуп Қырҭтәылантә, Ацентртә Азиа атәылақәа рышҟа Қырҭтәыла аекспорт зеиҧшҟамлац ала иазҳаит, уаантә атауарқәа, уадаҩрада Урыстәылаҟа инаргоит Жозеп Боррель Ливан даҭаауеит Ливани Израили рҳәааҿы аҭагылазаашьа алацәажәаразы Жозеп Боррель Европарламентахь алхрақәа рҿы аультраарҕьараҩцәа аиааира ргар ҳәа дшәоит Жозеп Боррель - Арҭбаара – Евроеидгыла зҵакы дуу адәныҟаполитикатә механизмуп, аӡбара иаша ҳадаҳкылароуп, абри ауп ихадоу Каха Калаӡе - Ҳтәыла амилаҭтә интересқәа рыхьчара ҳаҿуп, асанкциақәа ҳрылахәом Жозеп Боррель - Газа асектор анапхгараҭара Палестина администрациа анапхгара мацара рылшоит, "Ҳамас" Газа аконтроль уаҳа азалшом Амш зеиҧшрахо 8° ахә Қaрҭ Ас 10° амҽ 11° Авалиута акурс $ USD 2.6599 0.001 € EUR 2.8839 0.006 ₽ RUB 0.029277 0.027 £ GBP 3.3677 0.004 TOP 5 Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Италиатәи ареспублика ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит Қырҭтәыла иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа абизнес администрациазы абакалавртә ԥшьышықәсатәи программа, хышықәсатәи программала ирԥсахыр рылшоит Михеил Дундуа - Акоррупциа аҟынтә ахақәиҭра аиндекс инақәыршәаны Қырҭтәыла аԥхьагылара амоуп, адунеи аҿы Қырҭтәыла иалукааша лидеруп Михаил Сарџьвелаӡе - Саакашвили азыӡба ихигоит, аӡәгьы азин имам ақырҭуа аӡбарҭа аҳаҭыр аларҟәразы Шьалуа Папуашвили - Евроеидгыла европарламентарцәа рцәахыхратә ҳәамҭақәа рыдгылара мап аҵәнакыроуп, ари аҟаҵаразы аамҭа ааит
https://1tv.ge/lang/ab/news/zhozep-borrel%D1%8C-2022-shmqsazm-wrmstmla-aekonomika-matchxeit-21-nadzmnala-j%D1%8Cowkm-asanktciaqa-alcsha-rxmlcwam-ha-rg/
2024-03-01T07:45:30Z
<urn:uuid:c8158ccc-fb95-4e03-a360-d96b357a359e>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.9
0.6
0.96
52
6,223
tlsh:T1D46978D1AB40DB4BC573C1558E919D352C91681B82227161CED9F8712206099EFFCC13AAFAF90A8E749B1506D122FF103649FCEB58BFFAEB715200A52E3F34EA336836D59E
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Аахыҵ Кавказ аҟны ООН аҿиара апрограмма (UNDP) апроектқәа рзы амениџьер Федерико Диспензеи еиԥылеит абҵара 7 рзы. Аиԥылара иалахәын Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа Рдепартамент аиҳабы Артур Гагәылиеи Аахыҵ Кавказ аҟны ООН аҿиара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны апрект азы аҟазауаҩ Симон Агрбеи. Ф. Диспенза аминистр изеиҭеиҳәеит Аԥсны ақыҭанхамҩатә ҭыԥқәа рыҿиаразы Евроеидгылеи Аахыҵ Кавказ аҟны ООН аҿиара апрограммеи (UNDP) еицымҩаԥырго апрограмма анагӡареи аԥеиԥши ртәы. Аминистр иазгәеиҭеит жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи аминистрреи реинырра аҵак ду аманы ишишьо, ООН Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы зымҩаԥгара иаҿу апроектқәа ԥхьаҟазы хра рымны ишыҟало. Убри аан иҳәеит Аԥсны атәылауаа аусурҭатә ҭыԥқәа рызҭо апроектқәа хра рыманы рыҟазаара дшадгыло. Аԥсны ақыҭанхамҩатә ҭыԥқәа рыҿиаразы Евроеидгылеи Аахыҵ Кавказ аҟны ООН аҿиара апрограммеи (UNDP) еицымҩаԥырго апрограмма аусура хацнаркит 2017 шықәса рзы Аԥсны араионқәа хԥа: Гәдоуҭатәи, Гагратәи, Очамчыратәи рҿы. Back to the list Аминистр имҩаԥиго аиԥыларақәа Авизитқәеи аусутә ныҟәарақәеи рзы аинформациа Аҳәамҭақәеи ақәгыларақәеи Анотақәа Женеватәи аиҿцәажәарақәа Ацҳаражәҳәарҭақәа иазкыу Архив новостей Афотосахьақәа Авидео Адәныҟаполитикатә усура ахҳәаа Афотосахьақәа Сергеи Лавров Аԥсныҟа иаара Аԥснытәи аделегациа Венесуела усутә визитла рыҟазаара Аԥснытәи аделегациа Никарагуа визитла рыҟазаара ..еиҭа афотосахьақәа Ҳара асоциалтә ҳақәа рҟны Abkhazian Foreign Ministry/Аԥсны Адәныҟатәи Аусқәа Рминистрра/МИД Абхазии Related articles МИД Абхазии направил поздравительный адрес в МИД ПМР по случаю Дня защитника Отечества 23.02.2024 МИД Абхазии направил поздравительный адрес в МИД Республики Южная Осетия по случаю Дня защитника Отечества
http://mfaapsny.org/allnews/news/statements_speeches/o-vstreche-s-menedzherom-po-proektam-programmy-razvitiya-oon/
2024-02-26T10:37:00Z
<urn:uuid:506019f1-0e13-43f8-9203-c553e8cc63a7>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.84
0.74
0.96
23
3,275
tlsh:T1B226ED61CC04DE57D6B3E045C651C8364CD1A8168135B361CE85B8752A02189EFFCE13D7B6AC298734DB1622D24A9F042A1FFED968BD7EC3318215A07E2F34EC2798769A6F
Михеил Саакашвили иҟаиҵаз аҳәамҭала, Страсбургтәи аӡбарҭа апенитенциатә системаҿ ихәышәтәреи изныҟәареи иадҳәаланы аус аҭҵаара иаҟәыҵит иара иҳәара шьаҭас иаҭаны - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Михеил Саакашвили иҟаиҵаз аҳәамҭала, Страсбургтәи аӡбарҭа апенитенциатә системаҿ ихәышәтәр... Иҵегь аҭагалара Михеил Саакашвили иҟаиҵаз аҳәамҭала, Страсбургтәи аӡбарҭа апенитенциатә системаҿ ихәышәтәреи изныҟәареи иадҳәаланы аус аҭҵаара иаҟәыҵит иара иҳәара шьаҭас иаҭаны 10:02, 02.04.2022 Қырҭтәыла ԥасатәи ахада Михеил Саакашвили иҟаиҵаз аҳәамҭала, Страсбургтәи аӡбарҭа апенитенциатә системаҿ ихәышәтреи изныҟәареи иадҳәаланы аус аҭҵаара иаҟәыҵит иара иҳәара шьаҭас аҭаны. Страсбургтәи аӡбарҭа аӡбара иазкны аҳәамҭа асоциалтә каҭаҿы ҟаиҵеит. Ԥасатәи ахада ишазгәеиҭаз, иҳаҩсыш ашықәс ԥхынҷкәын 7 рзы Страсбургтәи аӡбарҭа дадҵаалт ашыԥхьыӡ алаҵара игәы шҭам. Иара убас, асоциалтә каҭаҿы Саакашвили Аиустициа аминистра иҟанаҵаз аҳәамҭа дақәҿиҭит. Саакашвили иҳәамҭала Аиустициа аминистрра аганахьала аҭыԥ амоуп Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи аӡбарҭа аӡбара аԥаршеира. “Адкылашьа амам ауаажәлар ржьара, ииашам агәаанагара аиҿкааразы Страсбургтәи аӡбарҭа аинструментализациа. Аиустициа аминистрра изныкымкуа аӡбарҭа аӡбарақәеи афактқәеи ииашамкуа аанарԥшьхьеит, афактқәа ииашам аинтерпретациа рзыҟанаҵоит. Ари иазыԥхьагәаҭазы, адырра рысҭоит Ауаҩы изинқәа рзы европатәи аӡбарҭа”, – иҩит Саакашвили. Уи асоциалтә каҭаҿы ԥхынҷкәын 7 рзы Европатәи аӡбарҭахь иишьҭыз адокумент алаирҵәоит. АЗИН Михеил Сaaкaшвили Страстургтәи аӡбарҭа 3 Еиҧшу Алеко Елисашвили - Аполиакцәа иргәалашәоит Михеил Саакашвили Качински иԥсыжрахь дышцаз, аха Польша рыздырӡом ҳзакәанԥҵара инақәыршәаны, Саакашвили ашьауӷа ихыхра ҳтәылаҿ ауристтә абсурд шакәу Жәлар рыхьчаҩ иконсилиум ақәҵа Михеил Саакашвили Никол Ԥашиниан иахь ааԥхьара ҟаиҵоит Михеил Саакашвили - Иаауа амчыбжьқәа амзқәа рзы сактиврқәа зегьы ирбоит Михеил Саакашвили - Сара ара сыҟоуп, ауаа рацәа ҿыцқәа реизгара сҽаласырхәоит Соԥо Џьаԥариӡе - Уаҵәы инаркны Михеил Саакашвили ихьӡ ала алхратә кампаниа ҳалагоит Соԥо Џьаԥариӡе ищалыцҳаз, хара имгакәа Михеил Саакашвили "иуаажәларратә дкыларҭа" аартхоит ЕАШ аиустициа адепартамент авебдаҟьа Михеил Саакашвили изку иашьҭанеиуа адоукумент ианылеит, уи жәларбжьаратәи аихқәа рҿы икьыԥхьыз аматериалқәа ирызкуп Ника Гварамиа - Михеил Саакашвили иеиқәырхаратә цаԥхақәа Украинаҿ иҟоуп, аҭырқәааи, ашәамахьцәеи, азербаиџьанаагьы аҳәатәы рҳәароуп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ Қырҭтәыла иҟоу Польша ацҳаражәҳәаҩ инапынҵақәа рынагӡаҩ иԥылеит Амш зеиҧшрахо -1° аҩ Қaрҭ Ах -3° аҧшь -2° Авалиута акурс $ USD 2.6525 0.001 € EUR 2.8769 0.007 ₽ RUB 0.02873 0.077 £ GBP 3.3631 0.004 TOP 5 Қырҭтәыла VS Сербиа Актәи аканал аҿы - итәу "Қарҭтәи аренаҿ" арекордсен Гьаргь Цинцаӡе амҵәышәмпыд аҟынтә днаскьаргоит #1TVSPORT Европатәи 20 тәыла рлидерцәа иахьа Париж, Украина азҵаара иахцәажәоит Роберт Фицо – НАТОи Евроеидгылеи Украинаҿ арбџьармчқәа рыргылара азҵаара иахәаҧшуеит Зыхә ршәо аԥышәахысра азакәан анагӡара аԥышәарҭатә режим аҿы сынтәа аиалагоит Шьалуа Папуашвили - Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рдонорцәа ирароуп, атәылантә ҳдәылцреи, атәыла рхала анапхгараҭареи аума ирҭаху, аӡбарҭа аилазаашьа ашьақәырӷәӷәара атәым тәылақәа ирусым
https://1tv.ge/lang/ab/news/mixeil-saakashvili-ikhaicaz-aham%D2%ADala-strasbwrgti-adzbar%D2%ADa-apenitentciat-sistematchv-ixmshtrei-iznmkharei-iadhalanm-aws-a%D2%AD/
2024-02-27T00:35:18Z
<urn:uuid:df6e4e81-8c7a-4c90-8757-3e10b60e5902>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.6
0.96
52
6,161
tlsh:T1ECBAA5D16844DF57C273C4588F918A325DD2190A4626B230CEC9F474665245DEBFCD0399FAF91E0E349F2613D462AB156E0AFCEA14BDBFDB60A200E02E2F34DD23947A899E
Иманшәалоу аимадара Кешбек Асрақәа<br>рнапхгараҭара Ноль аныҟоу<br>алшарақәа Ароуминг Аинтернет<br>маҵзурақәа Ихарҭәаау<br>апакетқәа Агәырҿыхарақәа Агәыҳалалра Абонентцәа<br>рымаҵ аура Архиагақәа Аҧхьаӡаратә<br>усурақәа<br>рымҩаҧгара USSD Ахарҭәаара E-sim Аномерқәа рыдәқьан Амаҵзура ахьаҿаркуа Амаҵзура ҭыԥқәа Аҿакразы адокументқәа Оборудование Акорпоративтә хәыхшәааратә планқәа Акорпоративтә маҵзурақәа Colocation Аопциа «Супер роуминг» Услуга «Продажа IP-трафика» Амаҵзура «Урыстәылатәи Афедерациа ашҟа 150 минуҭ апакет» Амаҵзура «Апакет 20 минуҭ Урыстәылаҟа» USSD-амениу Супер АОН Аофистә номер Ибзоу ноль Амобилтә Интернет «Aquanet» аинтернет-пакетқәа SMS-пакетқәа Аномер аилыркааҿагыла АҞӘАФОН абонентцәа рзы ароуминг Шәара ишәзасуан Амаҵзуреи ацхыраареи А-SIM-карта аԥсахра Абоненттә номер аԥсахра Ахәхшәааратә план аԥсахра Аиқәшаҳаҭра даҽаӡәы ихьӡала аҟаҵара Аԥхьаӡара есымза детальла аарԥшра Есымзатәи аԥхьаӡара Аномер хатәгәаԥхарала аанкылара Абоненттә еиқәшаҳаҭра адокументқәа Оборудование Асаит ахсаала Хаҭалатәи аклиентцәа рзы Акорпоративтә хархәаҩцәа рзы Оборудование +7 940 999 99 99 Асаит ахсаала Русский Ахәхшәааратә планқәа Асмартфон азы Ателефон азы Аинтернет азы Асасцәа рзы Архивтә хәыхшәааратә планқәа Амаҵзурақәа Иманшәалоу аимадара Кешбек Асрақәа рнапхгараҭара Ноль аныҟоу алшарақәа Ароуминг Аинтернет маҵзурақәа Ихарҭәаау апакетқәа Агәырҿыхарақәа Агәыҳалалра Абонентцәа рымаҵ аура Архиагақәа Аҧхьаӡаратә усурақәа рымҩаҧгара USSD Ахарҭәаара E-sim Аномерқәа рыдәқьан Амаҵзура ахьаҿаркуа Амаҵзура ҭыԥқәа Аҿакразы адокументқәа Акорпоративтә хәыхшәааратә планқәа Акорпоративтә маҵзурақәа Colocation Аопциа «Супер роуминг» Услуга «Продажа IP-трафика» Амаҵзура «Урыстәылатәи Афедерациа ашҟа 150 минуҭ апакет» Амаҵзура «Апакет 20 минуҭ Урыстәылаҟа» USSD-амениу Супер АОН Аофистә номер Ибзоу ноль Амобилтә Интернет «Aquanet» аинтернет-пакетқәа SMS-пакетқәа Аномер аилыркааҿагыла АҞӘАФОН абонентцәа рзы ароуминг Шәара ишәзасуан Амаҵзуреи ацхыраареи А-SIM-карта аԥсахра Абоненттә номер аԥсахра Ахәхшәааратә план аԥсахра Аиқәшаҳаҭра даҽаӡәы ихьӡала аҟаҵара Аԥхьаӡара есымза детальла аарԥшра Есымзатәи аԥхьаӡара Аномер хатәгәаԥхарала аанкылара Абоненттә еиқәшаҳаҭра адокументқәа Ихадоу адаҟьа Амаҵзурақәа Агәыҳалалра Услуги Иманшәалоу аимадара Кешбек Асрақәа рнапхгараҭара Ноль аныҟоу алшарақәа Ароуминг Аинтернет маҵзурақәа Ихарҭәаау апакетқәа Агәырҿыхарақәа Агәыҳалалра Абонентцәа рымаҵ аура Архиагақәа Аҧхьаӡаратә усурақәа рымҩаҧгара USSD Агәыҳалалра Контактный центр +7 940 999 99 99 Агәыҳалалратә фонд «Аинвалид- хәыҷқәа рыцхырааразы афонд» азы «Агәыҳалалратә баланс аиагара» Агәыҳалалратә Фонд «Аинвалид-хәыҷқәа рыцхырааразы афонд» ашҟа аԥара ахыԥхьаӡаларазы иаҭахуп: Икьаҿу аномер 0101 ашҟа ажәа «Ацхыраара» ацҵаны SMS ашьҭра. Агәыҳалалратә Фонд «Аинвалид-хәыҷқәа рыцхырааразы афонд» ашҟа аԥара ахыԥхьаӡаларазы иаҭахуп: Икьаҿу аномер 0101 ашҟа ажәа «Ацхыраара» ацҵаны SMS ашьҭра. SMS- 50 мааҭ иаԥсоуп. Иҳәааркымкәа Ахыԥхьаӡара зегьы ишынеибаку идәықәҵахоит Агәыҳалалратә Фонд «Аинвалид-хәыҷқәа рыцхырааразы афонд» ашҟа. Амаҵзура аҭаразы аԥҟарақәа Амаҵзура ахархәара алыршаразы Абонент ихы иаирхәароуп АКВАФОН амобилтә гәлаҵа (цҵа). • амаҵзура ахархәара рылшоит акоммерциатә тарифтә планқәа рҿы иҟоу абонентцәа • Атарифтә планқәа: «Чаихана», «Иуниверсалтәу», «Амшын», «Амшын Maxi», иара убас амаҵзуратәи, аиуристтә хаҿқәеи, убасгьы акорпоративтә тарифтә планқәеи алахәхара азин рымаӡам Агәыҳалалратә еилазаара “Кьараз” ахаҿытә ҧхьаӡара ашҟа аҧарақәа риагара Агәыҳалалратә программа Агәыҳалалратә уаажәларратә еилазаара “Кьараз” иацымҩаҧыргоит. Аиҿкаара хықәкы хадас иамоуп агәыҳалалратә усура: малла иҕару ҳтәылауаа, иара убас социалла ихьчам акатегориақәа иирыҵаркуа Ареспублика Аҧсны иқәынхо ауаа аматериалтә, мамзаргьы даҽа цхыраарак рзыҟаҵара; иҕару, иара убасгьы злахьынҵа уадаҩу ауаа социалла рыхьчара; социалтә-бзазаратә ҭагылазаашьала ауаа реилыхра аиҵатәра; социалла ихьчам ҳтәылауаа рзанааҭ хырхарҭа аҧсахреи аусурҭатә ҭыҧқәа рыла реиқәыршәареи; аҧсуа қыҭа аизҳара ацхыраареи ақыҭанхаҩцәа хаҭала ацхыраара рыҭареи; социалла ихьчам ауаа рҭыӡҭыҧ иаҵанакуа адгьылқәа рҿы рынхареи абизнес маҷи реиҿкаараҿы ацхыраара рыҭара; аҿар атәылауаҩратә ааӡара рыҭареи; аҵаралашаратә усура амҩаҧгареи. АУЕ “Кьараз” аҧхьаӡара ашҟа аҧара алаҵаразы иаҭахуп: SMS ала «Семья» мамзаргьы «Semya» ҳәа зну атекст икьаҿу аномер 9009 ашҟа адәықәҵара. SMS ахәҧса- 20 мааҭ ыҟоуп. Мамзаргьы амаҵзура “АУЕ “Кьараз” аҧхьаӡара ашҟа абаланс аиагара” ахархәарала акоманда *127*YYY# (уаҟа «YYY» – ииагахо ахыҧхьаӡара ауп ) адәықәҵара. Амаҵзура “АУЕ “Кьараз” аҧхьаӡара ашҟа абаланс аиагара” АҞӘАФОН абонентцәа алшара рынаҭоит икьаҿу аномер 9009 ашҟа SMS дәықәымҵаӡакәа, иреалтәу аамҭала АУЕ «Кьараз” аҧхьаӡара ашҟа рхатәы ҧхьаӡара аҟнытә хәҭак аиагара. Ишҧаҿактәу ишҧаҿыхтәу амаҵзура “АУЕ “Кьараз” аҧхьаӡара ашҟа абаланс аиагара”: Ҿымҭралатәи амаҵзура рзаҿакуп акоммерциатә тарифтә планқәа змоу абонентцәа зегьы (аиуристтә хаҿқәеи акорпоративтә тарифқәа змоу абонентцәеи рыда). Амаҵзура аҿыхра *127*02#. Аиагара шҧаҟаҵатәу: Ахатәы ҧхьаӡара аҟнытә АУЕ «Кьараз” аҧхьаӡара ашҟа аҧара аиагаразы иаҭахуп: USSD-акоманда адәықәҵара: *127*YYY#, ( «YYY» – ииагоу ахыҧхьаӡара ауп ) . Аҧарақәа риагара қәҿиарала ианхыркәшаха, Абонент иоуеит SMS-аҭак: « YYY мааҭ аҧара АУЕ «Кьараз” аҧхьаӡара ашҟа қәҿиарала ииагоуп. Иҭабуп шәхалархәразы! Амаҵзура “АУЕ “Кьараз” аҧхьаӡара ашҟа абаланс аиагара” аҭагылазаашьа иамоу аҷыдарақәа: 1. Аҧара аиагаразы аҭныҧса – 0 мааҭ. 2. Зныкала зегьы иреиҵаны аиагара ҟалоит - 30 мааҭ. Зныкала зегь иреиҳаны аиагара ҟалоит - 500 мааҭ. 3. Идәықәызҵо абонент аҧарақәа андәықәиҵалакь ашьҭахь ихаҿытә хыҧхьаӡараҿы иаанхо аҧарақәа зегь иреиҵоу – 10 мааҭк ыҟазароуп. 4. Уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟала аҧара аиагарақәа рхыҧхьаӡара алыршара зегьы иреиҳау - 10 -нтә. 5. Амаҵзура “АУЕ “Кьараз” аҧхьаӡара ашҟа абаланс аиагара” аҿыхра ҟалоит USSD-акомандала: *127*02#. 6. Амаҵзура “АУЕ “Кьараз” аҧхьаӡара ашҟа абаланс аиагара” даҽазнык аҿакра ахьыҟало АҞӘАФОН абонентцәа рмаҵзуратә Центр аҿы мацароуп. Агәыҳалалратә еиҿкаарақәа рзы автонапаҵаҩра Ари аопциа «АКВАФОН» абонентцәа ирыҭахоит иҷыдоу USSD-акоманда алагаларала Аопциа «ДОБРО» ацхыраарала, уажәшьҭарнахыс агәыҳалалратә еиҿкаарақәа рхыԥхьаӡара ашҟа уахыки-ҽнаки 1 мааҭк инаркны 10 мааҭк рҟынӡа (дасу иара ишалихуа ала ) аԥара автоматла аиагара ҟалоит. Ари аԥара есымша Шәара шәбаланс аҟнытә ианыхны Агәыҳалалратә фонд иахыԥхьаӡалахоит. Агәыҳалалратә Еиҿкаара «Кьараз» азы аопциа «ДОБРО» аҿакразы иаҭахуп,: USSD-акоманда *9009*01*YY# ( араҟа «YY» иаанаго – 1 мааҭк инаркны 10 мааҭк рҟынӡа аԥароуп) ахархәара. Агәыҳалалратә Еиҿкаара «Ашана» азы аопциа «ДОБРО» аҿакразы иаҭахуп: USSD-акоманда *5050*01*YY# (араҟа «YY» иаанаго – 1 мааҭк инаркны 10 мааҭк рҟынӡа аԥароуп) ахархәара. Агәыҳалалратә еиҿкаара «Кьараз» азы аҿырԥшы: Амаҵзура аҿакра атарификациа ахыԥхьаӡара *9009*01*1# 1,00мааҭ/уахыки-ҽнаки *9009*01*10# 10,00мааҭ/уахыки-ҽнаки Агәыҳалалратә еиҿкаара «Ашана» азы аҿырԥшы: Амаҵзура аҿакра атарификациа ахыԥхьаӡара *5050*01*1# 1,00мааҭ/уахыки-ҽнаки *5050*01*10# 10,00мааҭ/уахыки-ҽнаки «АКВАФОН» абонент ари амаҵзура изаҿакызар, аха ихаҿытә хыԥхьаӡара аҟны ибаланс ҭацәызар, уи ихаҿытә хыԥхьаӡара аҟны ибаланс аԥара ҭалаанӡа амаҵзура азы абоненттә хәԥса имырхӡом. Амаҵзура аҿакра 0,00 мааҭ иаԥсоуп. Аопциа «ДОБРО» аҿырхуеит USSD-акоманда ацхыраарала: *9009*02# - Агәыҳалалратә еиҿкаара «Кьараз» азы *5050*02# - Агәыҳалалратә еиҿкаара «Ашана» азы *Абонентцәа ари аопциа рыҭара ҟалоит, аиуристтә хаҿқәеи акорпоративттә тариф змоу абонентцәеи аламҵакәа, атарифтә планқәа зегьы рҿы). Абаланс аиагара «Агәыҳалалра» Амаҵзура рыдгалахоит АҞӘАФОН абонентцәа дара рхаҿытә ԥхьаӡара ахархәагақәа рҟынтә хәҭак Акультура Гәыҳалалратә Фонд «АШАНА» ахь аиагара ареалтә аамҭа арежим ала. Амаҵзура «Абаланс аиагара «Агәыҳалалра» рыдгалахоит АҞәафон аимадара абонентцәа дара рхаҿытә ԥхьаӡара ахархәагақәа рҟынтә хәҭак Акультура Гәыҳалалратә Фонд «АШАНА» ахь аиагара, ареалтә аамҭа арежим ала SMS мышьҭыкәа икьаҿу аномер 5050 ахь. Амаҵзура шаҿактәу/шаҿыхтәу Амаҵзура ишыҟаҵәҟьоу рзаҿакуп коммерциатә ахәхшәааратә планқәа абонентцәа зегьы (амаҵзуратә, аиуристтә хаҿқәа, акорпоративтә ахәхшәааратә планқәа рыда). Амаҵзура аҿыхра *147*02#. Аиагара шԥамҩаԥгатәу Шәхаҿытә ԥхьаӡара ахархәагақәа рҟынтә Акультура Гәыҳалалратә Фонд «АШАНА» ахь аиагаразы иахәҭоуп: USSD-адҵа ашьҭра: *147*YYY#, «YYY» – ари ииагатәу аԥароуп. Аԥаратә хархәагақәа иманшәаланы ианиагаха Шәара ишәоуеит SMS-аҭак: «Акультуратә Гәыҳалалратә Фонд «АШАНА» аԥхьаӡарахь YYY мааҭ иманшәаланы ииагоуп. Иҭабуп шәгәыҳалалразы», «YYY» – ари ииагоу аԥароуп. Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа 1. Аиагаразы иахыххо аԥаратә хархәагақәа – 0 мааҭ. 2. Аамҭаклатәи аигаразы аицҵалыҵ 30 мааҭ иреиҵамзароуп. Аамҭаклатәи аиагаразы аицҵалыҵ 500 мааҭ иреиҳамзароуп. 3. Абонент-ашьҭҩы иԥхьаӡараҟны иҟоу аԥаратә хархәагақәа рцәынха аԥара аиагара ашьҭахь (акредит змоу абонентцәа рызгьы) 10 мааҭк иреиҵамзароуп. 4. Уахыки-ҽнаки аиагарақәа рхыԥхьаӡара 10-нтә иреиҳамзароуп. 5. Амаҵзура «Абаланс аиагара «Агәыҳалалра» аҿыхзар ҟалоит USSD-адҵа: *147*02# ала. 6. Амаҵзура «Абаланс аиагара «Агәыҳалалра» аиҭаҿакра алыршахоит АҞӘАФОН абонентцәа Рмаҵзуратә Ҭыԥ аҟны мацара. 7. Акредиттә абонентцәа рыԥхьаӡара аҟынтәи аԥара аиагара алыршахоит амаҵзура аҿыхразы аҳәаа ианеиҳау. 8. Адилерцәа рыла иҭихо, ахархәара зоураны иҟоу акомплектқәа рыла ишьақәгылоу амаҵзура «Абаланс аиагара «Агәыҳалалра» абонент идгалахоит АҞӘАФОН аимадара анаҿеик инаркны 90 мшы аниаслак ашьҭахь. Абонент имоуп алшара «Абаланс аиагара «Агәыҳалалра» амаҵзура ахархәара аимадара анаҿеик инаркны 90 мшы нҵәаанӡа АҞӘАФОН абонентцәа Рмаҵзуратә Ҭыԥ ахь хаҭала идҵаалараан. Агәыҳалалратә акциа « Иԥшьоу ацҳаражәҳәаҩцәа Андреи Аԥхьанаԥхьеи Симон Кананити рдоуҳатә ҵаралашара» Иӷару атәылауааи, егьырҭ социалла ихьчам ауааи аматериалтә, иара убас даҽа цхыраарак рзыҟаҵаразы хатәгәаԥхарала хәыда-ԥсада ирыцхраауа ауаа радыԥхьалара. Ари акциа агәыҳалалратә фонд «Иԥшьоу ацҳаражәҳәаҩцәа Андреи Аԥхьанаԥхьеи Симон Кананити рдоуҳатә ҵаралашара» иацымҩаԥыргоит. Акциа ҵакыс иамоу иӷару атәылауааи, егьырҭ социалла ихьчам ауааи аматериалтә, иара убас даҽа цхыраарак рзыҟаҵаразы хатәгәаԥхарала хәыда-ԥсада ирыцхраауа ауаа радыԥхьалароуп. Акциа алахәхаразы иаҭахуп «Возрождение («Аиҭаира») ҳәа зну ажәа икьаҿу аномер 2020 ашҟа SMS-дырраҭара адәықәҵара. SMS ахәԥса - 20 мааҭ. Агәыҳалалратә акциа аҽалархәра рылшоит, акорпоративттә тарифттә планқәеи аиуристтә хаҿқәеи рыда, акоммерциатә тарифттә планқәа рабонентцәа зегьы,. Агәыҳалалратә акциа «Иҵоуроу аус» Ачымазцәа гәаҟқәеи, дара збо рҭаацәеи, иара убас урҭ реиԥш иҟоу ауаа рыхәшәтәреи рбареи рзы апрограммақәа алзыршо ахәшәтәырҭатә усҳәарҭақәеи аматериалтә, ма даҽа цхыраарак рыҭара хықәкыс иҟацаны, хатәгәаԥхарала хәыда-ԥсада ирыцхраауа ауаа радыԥхьалара. Акциа агәыҳалалратә фонд «Иҵоуроу аус» («Доброе дело») иацымҩаԥыргоит. Ари акциа ҵакыс иамоуп ачымазцәа гәаҟқәеи, дара збо рҭаацәеи, иара убас урҭ реиԥш иҟоу ауаа рыхәшәтәреи рбареи рзы апрограммақәа алзыршо ахәшәтәырҭатә усҳәарҭақәеи аматериалтә, ма даҽа цхыраарак рыҭара хықәкыс иҟацаны, хатәгәаԥхарала хәыда-ԥсада ирыцхраауа ауаа радыԥхьалара. Акциа алахәхаразы иаҭахуп «Ацхыраара» («Помощь» ҳәа зну ажәа икьаҿу аномер 5511 ашҟа SMS-дырраҭара адәықәҵара SMS ахәԥса- 50 мааҭ. Амаҵзура «Абаланс аиагара «Агәыҳалалра» АКВАФОН абонентцәа ирынаҭоит рԥарақәа рыхәҭак рхаҿытә хыԥхьаӡарақәа рҟнытә агәыҳалалратә фонд «Иҵоуроу аус (Доброе дело) ахыԥхьаӡара ашҟа аиагара иреалтәу аамҭа арежим аҿы. Уи азы икьаҿу аномер 5511 ашҟа sms ашьҭра аҭахӡам. Ишԥаҟаҵатәу аиагара Абонент ихаҿытә хыԥхьаӡара аҟнытә агәыҳалалратә фонд «Иҵоуроу аус («Доброе дело») ахыԥхьаӡара ашҟа аԥара ашьҭразы иаҭахуп: USSD-акоманда: *112*YYY# ашьҭра , араҟа «YYY» иаанаго – абонент иишьҭуа аԥара ахыԥхьаӡароуп. Аԥара аиагара қәҿиарала ианхыркәшахалакь, Шәара ишәзаауеит SMS-аҭак: «Перевод на сумму YYY руб. на счет БФ Доброе Дело проведен успешно. Спасибо за милосердие», где «YYY» – сумма перевода. « Агәыҳалалратә фонд «Иҵоуроу аус» («Доброе дело») ахыԥхьаӡара ашҟа YYY мааҭ қәҿиарала ииагоуп. Иҭабуп шәыгәшаҭаразы». Араҟа YYY иаанаго - аԥара ахыԥхьаӡароуп. Иҷыдоу аԥҟарақәа: 1. Комиссия за перевод денежных средств Аԥара аиагаразы акомиссиа – 0 мааҭ. 2. Минимальная сумма единовременного перевода Абонент аамҭакала ииаиго ахыԥхьаӡара - 30 мааҭ иреиҵамзароуп. Абонент аамҭакала ииаигар ҟалоит хыԥхьаӡарала 1000 мааҭ иреиҳамкәа. 3. Аԥара аниагаха ашьҭахь уи зышьҭыз абонент (акредиттә абонентцәагьы уахь иналаҵаны) ихыԥхьаӡараҿы иаанхар зылшо ацәынха 10 мааҭк иреиҵамзароуп. 4. Максимальное количество переводов в сутки - 10 раз. Уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟала иреиҳау 10-нтә аԥара аиагара ҟалоит . 5. Амаҵзура «Абаланс аиагара «Агәыҳалалра» аҿыхра алшоит USSD-акоманда ала: *112*02# 6. Амаҵзура «Абаланс аиагара «Агәыҳалалра» ҩынтәны аҿакра алыршахоит АКВАФОН абонентцәа Рмаҵуратә Центр аҿы мацара. 7. Акредиттә абонентцәа рхаҿытә хыԥхьаӡарақәа рҟнытә аԥара аигара алыршахоит, уаҟа хыԥхьаӡарала ирызҭоу аԥара амаҵзура аҿыхразы иазыԥҵәо ахымс иахыҳәҳәозар. Агәыҳалалратә акциа аҽалархәра рылшоит, акорпоративттә тарифттә планқәеи аиуристтә хаҿқәеи рыда, акоммерциатә тарифттә планқәа рабонентцәа зегьы.
https://aquafon.com/services/blagotvoritelnost/?language=ab
2024-03-01T07:54:51Z
<urn:uuid:aa535969-9c1b-4ba0-88e0-2792e3ec83d8>
[ "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.86
0.87
0.96
158
23,835
tlsh:T192B868B26A408B4BCD77C098DBC28E352CD06C4743627360CD8EF5311101099EBBCE12E9EEF85A5A749F1521E611FF10E60AFDE9287D7AD3615340A12D7E38EE2BA47796AE
Европейский Союз в действии: работая на благо более безопасной Европы и более стабильного мира (субтитры на абхазском) Один день из жизни наблюдателя (субтитры на абхазском языке) Аимадара Аус ҳуеит ашәарҭадареи, агәрагареи аиҭашьақәыргыларазы Ҳара Евроеидгыла абџьар змам ауаажәлартә анаҧшратә миссиа ҳауп. 2008 шықәса цәыббра мзазы, Евроеидгыла абжьаҟазарала аибашьра аҟәыҵра иазкны аиқәшаҳаҭра рнапы анаҵарыҩы аамышьҭахь ҳара ҳмиссиа арахь&nbsp;иаашьҭын. Аҧыҧшра 24/7 Амиссиа ахатәы аусура 2008 шықәса цәыббра мза ианалага инаркны, ҳара инаҳагӡоит 24 сааҭтәи аҧыҧшра, иҷыдоу азҿлымҳара, Аахыҵ Уаҧстәылеи, Аҧсни административтә ҳәаақәа рзааигәаратә аҭыҧқәа ираҳҭоит, Европатәи аполитика иазааигәоу аилазаашьақәа Қырҭтәылеи, арегиони рҿы рхатәы политика ашьақәыргылараҿы ацхыраара раҳҭоит. Аибашьратә хҭысқәа рырҿыцра аҽацәыхьчара Ҳара ҳприоритетқәа аибашьратә ахҭысқәа рырҿыцра аҽацәыхьчара ацхыраара аҭареи, Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи администрациатә цәаҳәа азааигәара инхо ауаа ибзиоу аҧсҭазаара рзышьақәыргылареи, еиҿагылоу аганқәа рыбжьара агәрагара аиҭашьақәыргылареи, Қырҭтәылеи, арегиони ирызкны Европатә аполитикатә ҳәаақәҵаратә аилазаашьақәа адырра рыҭара. Аганқәа рыбжьара адырраҭара аиҭныҧсахлара Аидыслара ма ашәарҭадара иазку, ма егьырҭ азҵаарақәа цәырҵыр, ҳара аҭагылазаашьа аилкааразыи, аибарххара ма аиҿыхара аҽацәыхьчарази ацхыраара раҳҭоит аганқәа адырраҭара аиҭныҧсахлараҿы. English / ქართული / Русский / Ирон / Аҧсуа / հայերեն / Azərbaycan / Ихадоу Ҳара Евроеидгыла абџьар змам ауаажәлартә анаҧшҩцәа рмиссиа ҳауп. Ҳара ҳмиссиа 2008 шықәса цәыббра мзазы, Евроеидгыла абжьаҟазарала фпункт иҟоу аиқәшаҳаҭра рнапы анаҵарыҩы аамышьҭахь арахь ҳаашьҭын. Ҳара ҳприоритетқәа: Аибашьратә ахҭысқәа рырҿыцра аҽацәыхьчара ацхыраара азура; Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи администрациатә цәаҳәа аҩганк азааигәара инхо ауаа ршәарҭадареи, ибзиоу аҧсҭазаара рзышьақәыргылареи; Еиҿагыло аганқәа рыбжьара агәрагара аиҭашьақәыргылара; Қырҭтәылеи, арегионқәеи ирызку Европатәи аполитика аҳәаақәҵаратә аилазаашьақәа адырра рыҭара. Амиссиа аусура анагӡара ианалага инаркны инанагӡоит 24 сааҭтәи аҧыҧшра, иҷыдоу азҿлымҳара Аахыҵ Уаҧстәылеи, Аҧснытәи административтә ҳәаақәа рзааигәаратә аҭыҧқәа ирзыруеит. Амиссиа аҟны 200 ҩык анаҧшҩцәа аус руеит Евроеидгыла иалахәу еиуеиҧшым атәылақәа рҟнытә. Ҳара ҳофис хада Қарҭ иҟоуп, егьырахь арегионалтә аофисқәа – Гори, Мцхеҭеи, Жәыргьыҭи. Ҳара ҳмандат амч амоуп Қырҭтәыла аҵакырадгьыл зехьынџьара. Аха Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи де-факто аиҳабыра ахаҭарнакцәа иахьанӡагьы дара зхылаҧшуа аҭыҧқәа рахь анеира азин ҳарҭом. Ҳара Евроеидгыла абџьар змам ауаажәлартә анаҧшҩцәа рмиссиа ҳауп. Ҳара ҳмиссиа 2008 шықәса цәыббра мзазы, Евроеидгыла абжьаҟазарала фпункт иҟоу аиқәшаҳаҭра рнапы анаҵарыҩы аамышьҭахь арахь ҳаашьҭын. Ҳара ҳприоритетқәа: Аибашьратә ахҭысқәа рырҿыцра аҽацәыхьчара ацхыраара азура; Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи администрациатә цәаҳәа аҩганк азааигәара инхо ауаа ршәарҭадареи, ибзиоу аҧсҭазаара рзышьақәыргылареи; Еиҿагыло аганқәа рыбжьара агәрагара аиҭашьақәыргылара; Қырҭтәылеи, арегионқәеи ирызку Европатәи аполитика аҳәаақәҵаратә аилазаашьақәа адырра рыҭара. Амиссиа аусура анагӡара ианалага инаркны инанагӡоит 24 сааҭтәи аҧыҧшра, иҷыдоу азҿлымҳара Аахыҵ Уаҧстәылеи, Аҧснытәи административтә ҳәаақәа рзааигәаратә аҭыҧқәа ирзыруеит. Амиссиа аҟны 200 ҩык анаҧшҩцәа аус руеит Евроеидгыла иалахәу еиуеиҧшым атәылақәа рҟнытә. Ҳара ҳофис хада Қарҭ иҟоуп, егьырахь арегионалтә аофисқәа – Гори, Мцхеҭеи, Жәыргьыҭи. Ҳара ҳмандат амч амоуп Қырҭтәыла аҵакырадгьыл зехьынџьара. Аха Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи де-факто аиҳабыра ахаҭарнакцәа иахьанӡагьы дара зхылаҧшуа аҭыҧқәа рахь анеира азин ҳарҭом.
https://www.eumm.eu/ab/new_media_gallery
2024-03-03T07:01:16Z
<urn:uuid:41376dd0-bf6b-420b-9c28-c74e7b81dca3>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.85
0.99
27
6,705
tlsh:T1B51D2AD14544CB4BC173D4A9CA818F386CE26D578212B270CD8EF5B21685059EFFCC139ABAE8015B70EB1911D121BF10690AECDA687DBBE7B04240B65E3E7CDD276576C5AE
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы ааишьҭит Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров. Адныҳәаларатә шәҟәаҿы иҳәоуп: «Иҟалааит 2022 шықәса агәыӷрақәа назыгӡо, аманшәалареи ақәҿиарақәеи аазго шықәсны. Шәареи ишәзааигәоу ауааи ирзеиӷьасшьоит агәабзиара, анасыԥ, ақәҿиарақәа!» Инал Арӡынба аҭактә дныҳәалараҿы Сергеи Лавров изеиӷьеишьеит анасыԥ, аманшәалара ҳазҭало ашықәс азы. Иара убасгьы Инал Арӡынбеи Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Андреи Руденкои адныҳәаларатә шәҟәқәа еимырдеит.
http://mfaapsny.org/allnews/news/notes/sergey-lavrov-pozdravil-inala-ardzinba-s-nastupayushchim-novym-godom/
2024-02-25T08:32:51Z
<urn:uuid:0aaf96be-1aca-4a4d-9da7-9da44bc504ab>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
1
5
1,070
tlsh:T1CB51561159489B8FCA23C1888562CC329DC0A95B8195B9319ED6F2B03F5505DEABDD23E2FBBC188A204F4712D5966B10198BEDD9283C7BC7F00200B05F2E28F93BD43452CF
Мамука Мдинараӡе иҳәамҭала, Ауаажәларратә дырраҭара, ахатә биуџьет жәа наӡынак еиҵамкәа асахьыркыратәи, адокументалтәи, асериалтәи фильмқәа ирзоунашьҭроуп, апарламенттә аиҳара арҭ аҧсахрақәа ирыдгылоит - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Мамука Мдинараӡе иҳәамҭала, Ауаажәларратә дырраҭара, ахатә биуџьет жәа наӡынак еиҵамкәа ас... Иҵегь аҭагалара Мамука Мдинараӡе иҳәамҭала, Ауаажәларратә дырраҭара, ахатә биуџьет жәа наӡынак еиҵамкәа асахьыркыратәи, адокументалтәи, асериалтәи фильмқәа ирзоунашьҭроуп, апарламенттә аиҳара арҭ аҧсахрақәа ирыдгылоит 19:52, 12.06.2023 Мамука Мдинараӡе иҳәамҭала, Ауаажәларратә дырраҭара, ахатә биуџьет жәа наӡынак еиҵамкәа асахьыркыратәи, адокументалтәи, асериалтәи фильмқәа ирзоунашьҭроуп, апарламенттә аиҳара арҭ аҧсахрақәа ирыдгылоит. Азакәанпроект инақәыршәаны, Ауаажәларратә дырраҭара ахатә биуџьет жәа- наӡынак еиҵамкәа асахьыркыратәи, адокументалтәи, асериалтәи фильмқәа ирзоунашьҭроуп. Ари аҳәамҭа ҟаиҵеит афракциа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Мамука Мдинараӡе. Ира иажәақәа рыла, апарламенттә аиҳара ари аинициатива иадгылоит, ари азҵааразы абжьыҭира мҩаҧгахоит анеҩстәи амчыбжь азы. Азакәанпроект давторуп Рати Ионатамишвили. АУААЖӘЛАРРА Ауaaжәлaррaтә дыррaҭaрa Мaмукa Мдинaрaӡе 1 Еиҧшу Мамука Мдинараӡе - Қырҭтәыла ашәарҭа иҭагылан, атерактқәа рымҩаԥгара ахарадырҵон, Украина ацҳаражәҳәара аҳәамҭа иаанаго исзеилкаауам, аполитикатә шьаҭа ашәымҭан ҳәа, ари ахҭыс ҳҵәахыр акәызма? Мамука Мдинараӡе - Иахьатәи ихадоу ааԥхьара адеоккупациа ауп Гига Миқанаӡе ишааицҳаз, апарламенттә аиҳара алидер иҭыԥ Мамука Мдинараӡе ааникылоит Матеуш Моравиецки – Польша азакәан аиҳаӡара апринцип имчны еилагоуп, министрк, аӡбарак ала, азакәани Аконституциеи атәамбакәа, азинтә аиҿкаара ирбгоит Польша аиҳабыра Ауаажәларратә дырраҭара анапхгара амырхит Европа адырраҭарақәа реидгыл адиректор хада Ноель Куран Политковскаиа лымҩаҿ идыргыло Ауаажәларратә дырраҭара ахыбра ҿыц гәеиҭеит [афото] Абҵара 22-23 рзы Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭараҿ EBU ажәабжь ҿыцқәа 2023 шықәсатәи рассамблеиа мҩаԥысуеит Мамука Мдинараӡе – Атәыла ахада илдыруазароуп, лара Михаил Саакашвили ашьауҕа иқәылхыр, 2003-2012 шықәсқәа рзы иара иҟаиҵаз зегьы азы аҭакҧхықәра лхы адылҵоит Ҭинаҭин Берӡенишвили - Қырҭтәыла апарламенти Ауаажәларратә дырраҭареи русеицура аформа ҿыц аиуеит, амеморандум ала иазыԥхьагәаҭоуп апарламенттә уснагӡатәқәа ишиашоу ртранслиациа Мамука Мдинараӡе иҳәамҭала, атәыла ахада лимпичмент апроцедура алагаразы 80 анапынҵақәа еизыргахьеит Амш зеиҧшрахо 4° аҩ Қaрҭ Ах 6° аҧшь 9° Авалиута акурс $ USD 2.6562 0.004 € EUR 2.8820 0.006 ₽ RUB 0.028893 0.017 £ GBP 3.3686 0.006 TOP 5 Европатәи 20 тәыла рлидерцәа иахьа Париж, Украина азҵаара иахцәажәоит Роберт Фицо – НАТОи Евроеидгылеи Украинаҿ арбџьармчқәа рыргылара азҵаара иахәаҧшуеит Илиа Дарчиашвили – Агәра ганы ҳаҟоуп жәларбжьаратәи ауаажәларра рпозициа ҕәҕәа ахадаратә ҵакы шамоу Урыстәыла ахатә ҧхықәрақәа нагӡаны Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҟынтә ахатә бџьармчқәа алнагарц азыҳәан Атапанчала ахысразы Қырҭтәыла аизга Европа ачемпионс иҟалеит – #1TVSPORT Қырҭтәыла VS Сербиа Актәи аканал аҿы - итәу "Қарҭтәи аренаҿ" арекордсен Гьаргь Цинцаӡе амҵәышәмпыд аҟынтә днаскьаргоит #1TVSPORT
https://1tv.ge/lang/ab/news/mamwka-mdinaradze-iham%D2%ADala-awaazhlarrat-dmrra%D2%ADara-axat-biwj%D1%8Cet-zha-nadzmnak-eicamka-asax%D1%8Cmrkmrati-adokwmentalt/
2024-02-27T13:31:42Z
<urn:uuid:05f02acf-71e5-4130-9da3-24fffcb82401>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.92
0.6
0.95
50
6,016
tlsh:T12C04ACC16741DB4BC173C18ADA00CE365DC1684B96227260CEE9F575128205CEFFDD13A9FAED0A4EB4EB1442D262BF11194AFCEA657E7FEB714600A15D3F34E9235432D59E
Заур Ӷәаџьаа аинрал Аугусто Николаса Кальдерона Сандино иԥсҭазаара далҵижьҭеи 90-шықәса аҵра иазку аусмҩаԥгатәқәа ихы рылархәит Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа аинрал Аугусто Николаса Кальдерона Сандино иԥсҭазаара далҵижьҭеи 90-шықәса аҵра азгәаҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа ихы рылархәит Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Ареспублика Никарагуа ацҳаражәҳәаҩ Даиси Торрес Боскес инаԥхьарала цәыббра 2024 шықәса жәабран 20 рзы. 21 February 2024 2 Ацҳаражәҳәарҭақәа иазкыу Мухаммад Алии Гассан Шоуреи реиԥылара мҩаԥысит Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы. Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿ иҟоу Аԥсны азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Алии Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿ иҟоу ачерқьестә гәыҳалалратә ассоциациа адиректорцәа Рхеилак ахантәаҩы Гассан Шоуреи реиԥылара мҩаԥысит Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы. 19 February 2024 9 Авизитқәеи аусутә ныҟәарақәеи рзы аинформациа Лаша Аҩӡбеи Алексеи Климови реиԥылара мҩаԥысит 2024 шықәса жәабран 19 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аконсултә департамент аиҳабы Лаша Аҩӡбеи Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аконсултә департамент адиректор Алексеи Климови реиԥылара м ҩаԥысит. 15 February 2024 26 Ацҳаражәҳәарҭақәа иазкыу Заур Ӷәаџьаа ихы алаирхәит ацәыргақәҵа «Венесуела 20-тәи ашәышықәса иаҵанакуа аурыс ҟазара» аартра ацеремониа 2024 шықәса жәабран 15 азы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу аҷыдалкаатә зинмчнагӡа змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа ихы алаирхәит ацәыргақәҵа «Венесуела 20-тәи ашәышықәса иаҵанакуа аурыс ҟазара» аартра ацеремониа Венесуела иҟоу Урыстәла аҷыдалкаатә зинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Мелик-Багдасаров инаԥхьарала. 14 February 2024 36 Авизитқәеи аусутә ныҟәарақәеи рзы аинформациа Инал Арӡынбеи аекономика Иреиҳаӡоу ашкол астудентцәеи еиԥылеит 2024 шықәса жәабран 14 рзы НИУ ВШЕ аректор Никита Анисимов иҟаиҵаз анаԥхьарала Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба дырԥылеит аекономика Иреиҳаӡоу ашкол астудентцәа, астуденттә ԥхьагылаҩцәа рыплатформа «ГосВышка» алахәылацәа. 14 February 2024 40 Авизитқәеи аусутә ныҟәарақәеи рзы аинформациа Инал Арӡынбеи Сергеи Риабикови Москва реиԥылара мҩаԥысит Жәабран 14 рзы, усутә ныҟәарыла Москваҟа амҩа дықәлеит Инал Арӡынба. 10 February 2024 31 Анотақәа Инал Арӡынба Адипломатиатә усзуҩы имш инадҳәаланы Сергеи Лавров адныҳәалара изынаишьҭит Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Инал Арӡынба Адипломатиатә усзуҩы имш инадҳәаланы Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Сергеи Лавров адныҳәалара изынаишьҭит. 5 February 2024 80 Инар Ладариа Боливариантәи Ареспублика Венесуела Ацҳаражәҳәарҭа даҭааит 2024 шықәса жәабран 2 азы Ареспублика Никарагуа иҟоу аҷыдалкаатәи азинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Ареспублика Никарагуа иҟоу аҷыдалкаатәи азинмчы змоу Боливариантәи Ареспублика Венесуела ацҳаражәҳәаҩ Хосе Арруе инаԥхьарала даҭааит ареспублика Ацҳаражәҳәарҭа Боливариантәи Ареволюциа 25 шықәса ахыҵра амш азы. 5 February 2024 43 Ацҳаражәҳәарҭақәа иазкыу Мухаммад Али Башар Аль-Асад агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит Шьамтәыла иҟоу азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Али Шьамтәылатәи Арабтә республика ахада Башар Аль-Асад агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит. 5 February 2024 39 Инал Аӡынба адныҳәалара ҟаиҵеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Шьамтәылатәи Арабтә республика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә инхо аџьынџьуаа рызҵаарақәеи рминистр Феисал Микдад 70 шықәса ихыҵра амш идиныҳәалеит.
http://mfaapsny.org/allnews/news/statements_speeches/kommentariy-daura-kove-
2024-02-24T22:58:15Z
<urn:uuid:f1c2d0a3-7702-4727-b3bb-bfd5c6d385b2>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.97
0.93
0.97
28
6,335
tlsh:T1C95F75D1A004DB4BD9B3C0484992CE359DC094A39320B631CEC5B9B06B0618DD7BCD13A5F1AC168F349F0261D693AF055B4AFDFA29BD7BC3209A00653E2F34EA278476955F
Аоперативтә Усбарҭа Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аппарат Хада иатәу структуратә хырхарҭоуп. Ари аусбарҭа ауснагӡараан изықәныҟәо акәны иҟоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтә закәанҧҵареи, аҳәынҭқарра амчра зныҧшуа егьырҭ анорматив-зинтә актқәеи, ашәахтәқәареи, афинансттә-нхамҩеи, аусҧҟақәеи, аинструкциақәеи адҵаҧҟақәеи рызҵаарақәа ирыдҳәалоу. Аоперативтә Усбарҭа ахықәкы хадақәа иреиуоуп: – ашәахтә еилагарақәа рышьақәыргылареи раарҧшреи, рыгәҽанҵареи, раҧырҟәҟәаареи рзы аоперативтә усмҩаҧгатәқәа реиҿкаареи рымҩаҧгареи; – ААР аинспекциақәа комплекслатәи агәаҭарақәа рымҩаҧгара аус аан ахы алархәра; – Аусбарҭа ашәахтә гәаҭарақәа рграфики аусуратә плани шьақәнаргылоит, ААР аинспекциақәа рыҟәшақәа аусуратә плани агәаҭарақәа рграфики иахьынӡарықәшәо русура хылаҧшра азнауеит; – Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи ирызку азакәанҧҵара ахылаҧшра аҭара арыҕәҕәараҿы азинхьчаратәи ахылаҧшратәи аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русмҩаҧгатәқәа рҿы ахы рылархәра; – ашәахтәқәеи егьырҭ аизгақәеи рымшәра, мамзаргьы иааидкыланы ашәахтә закәанҧҵара аилагараан ахатә хаҿрақәеи азинтә хаҿрақәеи ртауар-материалтә хәыдақәа зыҩноу ахыбра ашәқәа рҷабра, аилагарақәа рҽеины рҭыҧ иқәырҵаанӡа; – Агәаҭаратә акт ашьақәыргылара анаҩс, ААР анапхгаҩцәа реиуа иӡбамҭала атауар-материалтә хәыдақәа (атауарқәа, аалыҵ, уб. егь.) ирымнахуеит урҭ ашәахтәшәара иарбамзар.
https://mns-ra.org/eng/central/operational_control/
2024-03-03T06:49:29Z
<urn:uuid:5cb45b4a-19c1-4fe5-b2ae-aba2fd088fed>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
0.99
9
2,547
tlsh:T1E186FA512840AB9BC1B3C0888691DD361CD2980A4262F6308FC5F1701F91049CBBCD13EEB6F902C964AB0611C2266F655A2FEDD979BC7BE3714280A05E6E78ED37F079C6DD
Рауль Ҳаџьымба: Аҧсны амчрақәа рымахәҭақәа реиҟаратәра алыршара даара акраҵанакуеит Аҧсны Ахада далацәажәеит атәылаҟны иҟоу аҭагылазаашьа зеиҧшроу, аекономика аҿиара иазку аусхкқәа, акурорттә аамҭа аҽазырхиара ртәы. Москва. Рашәара 3. INTERFAX.RU – Иахьа Урыстәылеи Аҧсни хшыҩзышьҭра ду арҭоит 2014 шықәсазы атәылақәа рхадацәа рнапы зҵарҩыз “Аиҩызаратәи астратегиатәи усеицуразы” Аиқәшаҳаҭра анагӡара. Атәыла иахьатәи аҭагылазаашьа, аекономика аҿиаразы имҩаҧысуа аусхкқәа, акурорттә аамҭа аҽазырхиара, Аҧсны азакәани азинтәпориадоки рышьақәыргылара ртәы далацәжәеит аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба аинформациатә усбарҭа "Интерфакс-Юг" аинтервиу анаиҭоз. - Рауль Џьумка-иҧа, иахьа атәыла аҿиара интенсивла имҩаҧысларц азы лшарақәас иаҧҵои Аҧсны? - Иҟаҵоу маҷӡам. Раҧхьатәи амш инаркны ҳара атәылаҟны иҟоу аҭагылазаашьа аҧсахразы профессионалла аусура иазхиоу ралархәра атәы ҳҳәоит. Уи адагьы, аҧхьа иҟаз аминистрцәа реилазаара аусзуҩцәа реиҳараҩык иахьагьы аусура иаҿуп. Ари зыҟаҳҵаз баша ацәажәаразы мамзаргьы аӡәы игәаҧхандаз ҳәа акәӡам. Агәра ганы сыҟоуп ҳколлегацәа рдыррақәеи рҧышәеи аҭахны ишыҟоу, урҭ аҧхьаҟагьы хархәара рымазароуп атәыла аекономика иеиуеиҧшым аҟәшақәа рыҟны. Иааиҧмырҟьаӡакәа ҳтәыла аполитикатә усзуҩцәа ҳареи адиалог ҳабжьоуп. Ҳтәыла алахьынҵа згәы иҵхо ауааи ҳареи ҳаиҧылалоит, урҭ апроцесс ралархәра ҳашьҭоуп. Аӡәы иеиликаауеит, даҽаӡәы ари апроцесс даҽакала дазнеирц далагоит. Аха еиҳа иалкааны иазгәаҭатәуп ҳәа сгәы иаанагоит аиҩызареи астратегиатә усеицуреи рзы аиқәшаҳаҭра аус адулара шымҩаҧысуаз атәы. Абри аан зегь раасҭа ихадароу, иара Аиқәшаҳаҭра ахаҭа ҳабжьаҵара ахьҳалшаз ауп. Сгәы иаанагоит, абри адокумент ҳуаажәларра аилибакаара, аҳәоуеиқәшәара ишазхиоу атәы аҳәоит ҳәа, рапҳьатәи апроект акыр ақәыӡбарақәа шамазгьы. - Шәара ихадараны шәҿаҧхьа иқәшәыргылаз ауснагӡатәқәа иреиуоуп азакәан ҧыжәара аҭара, атәыла ауааҧсыра ршәарҭадареи рзинеиҟарареи. Ишҧамҩаҧысуеи уи анагӡара? - Раҧхьа иҟаҳҵо ашьаҿақәа зызкугьы ҳҳәынҭқарра аҿиара шьаҭас азакәан азышьҭаҵароуп. Уи ацәхьаҵра ҟамлароуп. Убри аҟнытә анагӡаратә мчра аилазаарақәа зегьы адҵақәа рыҭоуп абри аусура аҭыҧқәа рыҟны имҩаҧыргаларц азы. Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура иадҵоуп Аҧсны аекономика ахархәагақәа ралагалара иазхиоу аинвесторцәа ршәарҭадара ахылаҧшра. Адҵақәа аҭоуп иара убас аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра азинтәпориадок ахылаҧшреи Аҧсны автотранспортла иалало ҳасасцәа рганахьала уаанӡа иҟаз ацәгьоура алмыршаразы. - Рауль Џьумка-иҧа, Аҧсны хаҭала шәара иаҧышәҵеит алхратә система, аҭыҧантәи ахаланапхгара ареформа алазгало аконституциатә комиссиа. Акомиссиа аус шҧауеи, иҟаҵои иахьа? - Ҷыдала иазгәасҭарц сҭахуп, Аҧсны аполитикатә плиурализм ҭыҧ ахьамоу демократиатә ҳәынҭқарраны ишыҟоу. Ахада напхгара зиҭо аконституциатә комиссиа аусура иаҿуп. Уи аилазаараҟны иҟоуп иеиуеиҧшым аполитикатә мчқәа рхаҭарнакцәа, аиуристцәа. Аусуратә гәыҧ аҵыхәтәантәи ҩымчыбжьа рыҩныҵҟа активла арҭ адокументқәа рыпроектқәа аус рыдулара иаҿуп. Ари ҳара ҳзы акрызҵазкуа темоуп. Насгьы алхратә кампаниаан аппозициаҟны ҳаныҟаз ауаажәларра зықәҳаргәыҕыз хымҧада инагӡахоит. Акраҵанакуеит иара убас ҳара ҳзы Аҧсны амчрақәа рымахәҭақәа зегьы реиҟаратәра алыршара. Иҟоуп ауадаҩрақәагьы, аха урҭ азҵаарақәа ӡбамхар алшаӡом. - Аҧсны акурорттә аамҭа ишҧазхиоу? - Ҳусура ари ахәҭа иунарбоит атуризми аҧсшьареи робиектқәа ҳара ҳҿы ҷыдала зҿлымҳара шарҭо. Уи атәы аҳәоит Риҵатәи аҳәырҧсарраҟны имҩаҧысуа аусура. Ари аганахьала аихьӡарақәа ыҟоуп. Ҳара акурорттә ҟәша иатәу аобиектқәа зегьы ашәҟәы иҭагалатәуп ҳәа иҳаҧхьаӡоит. Уи ҳбиуџьет аҭагылазаашьа акыр иаҧсахуеит, Аҧсны ауааҧсыра азакәанеилазымго ашәахтәшәаҩцәаны иҟанаҵоит. Уи ҳҳәынҭқарра аҧеиҧш аӡбара иацхраауеит уҳәар ҟалоит. Шьҭа ҳара хылаҧшра ду аҳҭароуп атуристцәа ирымадоу ауаа русура ахаҭабзиара. Атранспорттә маҵзура азҵаара, аҳәааҟны иҟоу аҭагылазаашьа – ари зегьы амчрақәеи егьырҭ дарбанзаалак аҧсшьаҩцәа аҳәаа ианахыс инаркны рҭыҧ аҟны инеиаанӡа знапы иану зегьы ҭакҧхықәраны ирыдуп. ААИ ААР ҳуааҧсыреи иаҳҭаауа аҧсшьаҩцәеи рымаҵура ахаҭабзиара иақәнагоу аҩаӡараҟны иҟазартә русура мҩаҧысуазароуп. - Атәылаҿы аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоума? Аҧсшьаҩцәа аара иацәымшәартә иҟоума? - Ҳара ҳаҟны аҧсшьаҩцәа акагьы иацәшәаӡом. Ҵыҧх аполитикатә ҭагылазаашьа шыуадаҩызгьы Аҧсны зыҧсы зшьаз ауаа рхыҧхьаӡара акыр иеиҳан 2013 шықәса раасҭа. Ҳара ҳзакәанҧҵара аҧсшьаҩцәа ирҧырхагаӡам. Ҳаҩныҵҟатәи ҳапроблемақәа хынҭаҩынҭарада еилҳаргартә ҳаҟоуп. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/2221/
2024-02-29T08:34:11Z
<urn:uuid:88fe3a0e-41b0-4308-9d7a-2a3814caa74a>
[ "footer", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.96
0.91
0.98
22
8,988
tlsh:T135E25D024940CB4BC5B3C099CBD29F357CD0540643227660CDC9F5B51655099FBFCD13A9FAE80A8AB0EB1525D222BF14A64EFCE9297EAAD7705240A12D3F7CDC23A572C2AE
Рауль Ҳаџьымба: Акыр иаҧсоу аҩызцәа! Сара ажурналистцәа ҳтәылауаа рҟынӡа инаргаша аинформациа роуроуп ҳәа мацара акәӡам исҳәоз. Ҳара иахьа ара ҳзеизазгьы, ҳуаажәлар ргәы иҵхо зҵаарақәак рзы аилыркаа рыҭаразоуп. Срылацәажәоит аҵыхәтәантәи аамҭазы имҩаҧысуаз ахҭысқәа. Аамҭа кьаҿк иалагӡаны ҳара иҳалшеит Урыстәылатәи аҳәынҭқарра Ахада Путин иеиҧш – иацтәи ҳаиҧылара ҧшьынтәтәуп, егьырҭ Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәа рхадацәа рҧылара. Ҳаиҧылара зызкыз баша ҳаиқәшәеит ҳәа аҳарбарц азы акәӡам, уи хықәкыс иаман Урыстәыла асубиектқәа рыҟны аиҭакрақәа шымҩаҧысуа, урҭ аиҭакрақәа ауаа рыҧсҭазаара ишаныҧшыз абара. Алҵшәа бзиақәа аанагоит ҳхатәы лшарақәа ииашаны реихшара, аҳәынҭқарра иарҳауа ауаа рҟынӡа инаӡартә еиҧш аҭагылазаашьа анаҧҵаха. Шьҭа иацы имҩаҧысыз Владимир Путини сареи ҳаиҧылара атәы. Инарҭбааны ирылацәажәан ҳара ҳзы даара аҵакы змоу азҵаарақәа жәпакы – аҳәаа азҵаара инаркны ҳҳәынҭқарра ашәарҭадара апроблема аҟынӡа. Ҳрыхцәажәеит Аҧсны асоциалтә-економикатә ҿиара, анхамҩатә кредит, аҳаиреимадара уҳәа егьырҭ азҵаарақәа. Иқәыргылаз азҵаарақәа акыр Урыстәыла Ахада адгылара аиҭеит, агәрагьы згоит, хара имгакәа аимадарақәа ишрыцҵахо, ҳазлацәажәаз азҵаарақәагьы рынагӡарагьы шхацыркхо. Шьҭа шәара шәызҵаарақәа рҭакҟаҵара сазхиоуп. Витали Шариа (агазеҭ «Эхо Абхазии» аредақтор хада): Исҭахын иҵегьы инарҭабааны шәалацәажәар, Шәача Урыстәыла Ахадеи Шәареи шәеиҧыларазы, аиҿцәажәара алҵшәақәа рзы шәгәаанагара. Рауль Ҳаџьыба: Ҳара ҳаиҧылара хықәкыс иаман Аҧсны аҳәынҭқарразы акрызҵазкуа азҵаарақәа рыӡбара мҩақәас иамоу аҧшаара. Урҭ еиқәысыҧхьаӡар сылшоит. Ари аҧсуа-аурыс ҳәаа ахысра аиҿкаара армариареи, ААП “Ҧсоу”аужьратә лшарақәа рыцҵареи роуп, иаҳҳәап, ашьаҟауааи ААП автотранспорттә хәҭақәа реивыгареи рыла. Урыстәылатәи аган ари анагӡара иазхиоуп. Уи адагьы ҳалацәажәеит аужьразы аҭагылазаашьа акырӡа аиҕьтәра алзыршоны иҟоу, аҳәаатәи аҳазалхратәи гәаҭаҩцәеи егьырҭ аусзуҩцәеи рхыҧхьаӡара аизырҳара шаҭаху атәы. Ҳарзааҭгыланы ҳрыхцәажәеит афымцадәыҕбақәа рдәықәҵара иадҳәалоу азҵаарақәа, уи ААП “Ҧсоу”зҵоу аидара акыр иарласуан. Ҳалацәажәеит Аҧсны Урыстәыла ирҭиуа аимпортҧсахра апрограмма алаҵара азҵаара. Абри аганахьала адҵақәа аҭан Урыстәыла Ақыҭанхамҩа аминистрра. Ҳара ҳганахьала, баша ацәажәарақәа ҳарҟәаҵны, иҳалшо ҟаҳҵароуп Урыстәыла иадаҳгало ҳамазарц азы. Ҳрылацәажәеит Урыстәылатәи аинвестициақәа мрагыларатәи Аҧсны ралагалара шымҩаҧгатәу атәы. Иҟоуп уи еиҧш алшарақәа. Ирзааҭгылан иара убас афинанстә цхыраара азҵаарақәа, уи асоциалтә ҟәшаҟны – атәанчахәқәеи абиуџьет усзуҩцәа ркатегориақәак руалафахәқәа рыцҵара ауп, уи анагӡара ахацыркра рашәарамза 1 ҳәа иазгәаҭоуп. Иҳаҩсыз амзақәа рзы акгьы ҟаҵаӡам анырҳәо, уи иашаӡам. Руалафахәқәа ирыцҵоуп апрокуратуреи аӡбаратә система аусуцәеи. Ари апроцесс аҧхьаҟагьы иацҵахоит. <>Ирылацәажәан афымцастанциақәа ҧшьба русурақәа. Арҭ ажәалагалақәа ҧасагьы иҟаҵан. Уаанӡа иазгәаҭаз аҧаратә хархәагақәа рымҽхак - 5-7 млрд мааҭ хазы еиҭа ҳалацәажәараны ҳаҟоуп. Агәра ганы сыҟоуп аусурақәа шхацыркхо. Ҳара ҳзы урҭ ҳбиуџьет ахарҭәааразы ицхыраагӡахоит. Иаҳҳәеит иеиуеиҧшым аҭагылазаашьақәа ирхырҟьаны урыстәылатәи атәылауаҩра змоуз Аҧсны атәылауаа ироуразы аҧҟарақәа рырмариара атәы. Урҭ еиҳарак иреиҳау абиҧарақәа роуп. Ари Урыстәылатәи анапхгара азыразуп, сара сшыҟаз иақәнагоу адҵақәагьы ҟаҵан абри аганахьала. Ҩ-миллиардтәи аихамҩатә кредит азы - ари ахәҭак ақәхра мамзаргьы уи арцәаразы аҭагылазаашьақәа рыҧсахра ҳалыршара азҵаара шьҭыхын. Ари ауал азы ҳҭагылазаашьа даара иуадаҩуп, апроцентқәа ршәара ҳаҿуп, хара имгакәа иара акредит ацәеижь ахаҭа акредит ахшәара ҳалагоит. Убри аҟнытә ари апроблема аӡбараҿы урыстәылатәи аган ахьынӡазыхиоу ҳара ҳзы акраҵанакуеит. Ҳалацәажәеит урыстәылатәи афинанстә цхыраараҟнытә хәҭак Аҧсны абизнес маҷи абжьаратәи абизнеси акредитрзурахьы аиагаразы алшара. Аҧсуа ган агәаанагара азгәанаҭахьеит, Инвестпрограмма аҟнытә ахархәагақәа арҭ ахықәкқәа рахь 1 млрд мааҭ адәықәҵара рыдаҳгалеит. Рацәак ҵуам, Аҧсны Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа иқәгылараҿы иҳәеит Аҧсны абизнес маҷи абжьаратәи абизнеси акредитрзуразы Амилаҭтәбанк ахархәагақәа рыҟнытә 200 млн мааҭ азоужьра иазку апрограмма аусарура атәы.: 100 млн мааҭ аграртә ҟәшаҟны абизнес маҷ азы, даҽа 100 млн мааҭ аекономика егьырҭ аҟәшақәа рыҟны абизнес маҷи абжьаратә бизнеси рыпроектқәа ацхыраара рыҭаразы. Иара убас ҳара ҳаҳәеит Урыстәылантәи иаауа анефтаалыҵқәа рекспорт азы аквотақәа рыцҵара урыстәылатәи абаџь ахархәарада – 50 нызқь тонн инаркны 75 тонн рҟынӡа. Абри азҵаараҿгьы адгылара ҳауп ҳәа сгәы иаанагоит. Ҳахцәажәеит Аҧсны газла аиқәыршәаразы алшарақәа, аха уи азы ҳара иаҭаху аинфраструтктуреи аҭагылазаашьақәеи аҧаҳҵароуп. Аҳауаеимадара атәы ҳҳәозар, урыстәылатәи аган аҟәатәи аҳаирбаҕәаза аартразы ацхыраара иазхиоуп. Уи азы 1 млрд мааҭ раҟара афинанстә лагала аҭахуп, ҳара макьана уи ҳазхиаӡам. Хара имгакәа ишьҭыхыз арҭи егьырҭ азҵаарақәеи рылҵшәақәа рзы адырра сыҭахоит. Изида Ҷаниа (агазеҭ «Нужная» аредақтор): Рауль Џьумка-иҧа, сара сзыззҿлымҳау Урыстәыла АУР ҳареи ҳабжьара аинформациатә-координациатә еилазаара аҧҵара иазку аиқәшаҳаҭра ауп. Абри аганахьала иҟаҵоу сазҵаауеит, избан акәзар уи акәша-мыкәша ацәажәарақәа рацәоуп. Ари азҵаара ӡбоу мамзаргьы аӡбара мҩаҧысуа макьана? Ари аиқәшаҳаҭра аус шҧаулои, урыстәылатәи агани ҳареи хыдҵақәас иҳаууа иарбанқәоу? <>Рауль Ҳаџьымба: Аидгылареи астратегиатә усеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра хазы иалкаау аҧҟарақәак зырҿио аусбарҭабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа рахьтә иахьазы знапы аҵаҩу ҩба роуп - уи тәанчахәла аиқәыршәареи хазы игоу абиуџьет усзуҩцәа ркатегориақәак руалафахәқәа рышьҭыхра аҧҟарақәеи рзы аиқәшаҳаҭра ауп. Егьырҭ адокументқәа аус рыдулара мҩаҧысуеит Урыстәыла аганахьалеиҧш ҳара ҳганахьалагьы. Ҳара иаартны иаҳҳәоит иҳадаҳкыло иҳадҳамкыло. Макьана изаацәоуп арҭ адокументқәа рзы иалкааны акы аҳәара. Аха акгьы ҳӡаӡом. Аматериалқәа зегьы цәыраҳгоит – уанӡа аидгылареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра Жәлар Реизараҟны ишцәыраҳгаз еиҧш. Сгәы иаанагоит, ашәахьа инаркны урҭи егьырҭ аматериалқәеи рыхцәажәара ҳалагоит ҳәа. Елена Полуиан («Аҧсныпресс»): Рауль Џьумка-иҧа, иаҳзеиҭашәҳә, Урыстәыла арегионқәа, Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа рышҟа шәныҟәара атәы. Уажәы аҧхьа урҭ арегионқәеи Аҧсни финансла реиқәыршәаразы аицҵалыҵқәа еиҿурҧшыр ҟалоит ҳәа. Ишҧазыҟоу уа абизнес амҩаҧгара? Аҧсназы ихәарҭоу иалукаар иауеи, насгьы ара, ҳара ҳҿы иаҳа иеиҕьны иеиҿкаау иарбану, ҳара ҧыжәара абаҳамоу? Рауль Ҳаџьымба: Ҳара ҳбиуџьеттә лшарақәа Урыстәыла субиектқәак рыҟны, иаҳҳәап Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа рыҟны иҟоу арбагақәа уи аҟара излареиҧшым ыҟаӡам. Убри инадкыланы урыстәылатәи арегионқәа ацентр аҟнытә ацхыраара роууеит, урҭ арегионалтә биуџьет аизырҳаразы, ауаа рыҧсҭазаашьа аиҕьтәразы алшарақәа ирыцнаҵоит. Иаагозар, Ҟарачы-Черқьестәылан 470 нызқь раҟара нхоит, иара ахатәы биуџьет 5-6 млрд мааҭ ыҟоуп, егьырҭ цхыраароуп. Ари иаанагаӡом аҭагылазаашьа бааҧсуп ҳәа – ара абизнес бзианы аҿиара иаҿуп. Удмуртиа иаҿуҵаар иҟало, раҧхьа игылоу – ауаа рхы аџьабаа ахьадырбо изҿу аус аҟны, ара ҳҿы аасҭа. Ҳара ирацәаны ҳцәажәоит, аха иҟаҳҵо маҷуп. Ҳара ҳгәы змырҭынчуа апроблема – анхарҭа азҵаароуп. Ҳара ҩажәа шықәса рыҩныҵҟала шьаҿакгьы ҟаҳамҵаӡеит аҭаацәара қәыҧшқәа рыҧсҭазаара ахаҭабзиара аиҕьтәразы. Ҳҿар уадакгьы ҳазрымҭаӡац. Ауаа рхала рхы иахәоит. Удмуртиа абри апроблема аӡбаразы аҧышәа бзиа рымоуп. Агәра ганы сыҟоуп, ииашаны ҳазнеир, ҳара ҳҿгьы абри аҧышәара ахархәара шауа. Аминистрцәа реилазаареи Ахада Иусбарҭеи ирыдаҳҵеит арҭ азҵаарақәа рыӡбара иазку апрограмма аздырхиарц, насгьы иааиуа ашықәс абиуџьет аҟны абарҭ ахықәкқәа рынагӡаразы аицҵалыҵ арбахоит. Иҟалааит шықәсык ахьтә 1-15 уадагьы, маҷ-маҷ ари апроблема аӡбара ҳалагоит. Анаид Гогориан (агазеҭ «Чегемскаиа правда»): Рауль Џьумка-иҧа, ааигәа Жәлар Реизараҟны актәи аҧхьараан ирыдыркылеит иҷыдоу аекономикатә зонақәа рзы азакәан рыдыркылеит. Усҟан Шәара шәхаҭарнак ари азҵааразы Шәара шәпозициа сызҳәаӡом иҳәеит. Шәгәаанагра саҳарц сҭахын. Рауль Ҳаџьымба: Сара сгәаанагара сҳәеит Аҧсны асоциалтә - аекономикатә ҿиара апрограмма ҳаналацәажәоз. Сара узыцәшәо ҭагылазаашьоуп ҳәа сызҳәаӡом – иара азҵаарақәа рыӡбара ииашаны ирызнеитәуп. Баша адокумент аҧҵаны иаҧаҳҵеит ҳәа ҳгәы рҭынчны ҳамтәакәа, уи аҧсҭазаара иаларҵәатәуп. <>Иацу ыҟоуп. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/2507/
2024-02-29T07:44:17Z
<urn:uuid:dc9f6f0f-7354-4c43-a2a6-d3bf476ad1a3>
[ "footer" ]
[]
abk-Cyrl
0.98
0.93
0.99
27
15,946
tlsh:T1ADB1AE624880874BC5B3C059CB828E356CD0680647227320CEC9F5B61685099FFFCD23AAFBE8168A70AB1512D162BF10A60AFCDA557E6AD7705340E56D3F39DD37A436D5AE
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олегу Боциев дидныҳәалеит. Адныҳәалараҿы иаҳәоит: «Ацҳаражәҳәаҩ имаҵзура апрофессионализм ҳаракы, аҭакԥхықәра ду, ахамегӡара аҭахуп. Арҭ аҟазшьақәа шәар ишәымоуп. Агәра згоит Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ иҳасаб ала ԥхьаҟагьы шәусура шазырхахо ҳажәларқәа рыбжьара аизыҟазаашьақәа рырҿиара аус.»
http://mfaapsny.org/allnews/news/notes/inal-ardzinba-pozdravil-olega-botsieva-s-dnem-rozhdeniya-/
2024-02-26T10:40:06Z
<urn:uuid:c57b7f11-210b-4a8c-a85c-28cb83204673>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
0.99
4
729
tlsh:T15AADD5014C80CF83D973D054C781893178C164628B6277B59ECAB2615349248EBFDD23A3E7E8244735931430C6D37B10A60EEDE51D7D15C3709151B5283E28DC1BB77181AF
Аԥсуаа ртрадициатә культураҿы аҭыԥ ду ааннакылоит аҵлақәа ркульт. Ишәзеизаҳгеит ҳаԥсҭазаараҿы иҷыдоу аҵакы змоу аҵлақәеи урҭ ирхылаԥшхәу анцәахәқәеи ирызку алонгрид. Ҳмилаҭ жәытәаахыс ашәаԥыџьаԥ, аҵлақәа ирыхӡыӡаауан. Ишхырҳагаз, ишыхәарҭаз рдыруан. Уимоу, иԥшьоуп ҳәагьы изымҵаныҳәоз маҷмызт. Аԥсуаа ҳҵасқәеи ҳқьабзқәеи ибзиаӡаны ирныԥшуеит ауаҩи аԥсабареи реилаӡҩара, аӡәыкны рыҟазаара. Аҵлақәа зымшьҭа бзиақәоу ҳәа иалыркаауа шыҟоу еиԥш, аҩны еиҭауҳар иҟало, иҟамло ҳәа иҟоуп, иара убас абнаҿгьы аҵла аҳаҭыр шьалатәуп, уи ианхуҵәалак ҟалом, аҩархь убылуазаргьы, иара аамҭа амоуп, аҭыԥгьы амоуп. Есма Ҭодуаԥҳа афольклорҭҵааҩ Абна – ари қыдбажәла еиҿартәу акы акәым, мамзаргьы аекологиатә система мацарам. Абна – ари ажәларқәа ркультуратә мазароуп, доуҳатә малуп. Абнеи абна анцәахәи ракәзар, иалкаау аҭыԥ ааныркылоит аԥсуаа рфольклор аҿы. Абна асакралтә ҵакы аныԥшуеит ҳкультуратә мазарагьы. Иаагозар, иахьауажәраанӡангьы еиқәхаз аӷәтәы ҩнқәа, еиуеиԥшым архитектуратә комплексқәа, иара убас хыԥхьаӡара рацәала амҿлыхқәа ыҟоуп. Аҵлақәа рымҵаныҳәареи урҭ рымҵан ақьабзқәа рымҩаԥгареи иудырбоит дара рсакралтә ҵакгьы. Аԥсуаа традициала аҵлақәа ршоит ихадоу ҩ-гәыԥкны. Актәи ахь иаҵанакуеит ауаҩы изы ибзиоу, иԥшьоуп ҳәа иԥхьаӡоу аҵлақәа. Аҩбатәи ахь – зымшьҭа цәгьоу, амашәыр зқәу ҳәа зыӡбахә рҳәоз. Абасала, уи анцәахәқәагьы рҽеиҩыршоит – Хьӡыр иразу нцәахәуп (бна нцәахәуп), Алыиашә – дбааԥсуп (бнауаҩуп). Иарбан ҵлазаалакгьы, зымшьҭа цәгьоу ҳәа иԥхьаӡоу акәзааит, зымшьҭа бзиоу ҳәа иԥхьаӡоу акәзааит аҵла ианықәлоз "Хьӡыри Алыиашәи шәнапы сануп!" - ҳәаны уқәлар, машәыр уақәшәом ҳәа иԥхьаӡан. Хьыӡыр ауаа дырхылаԥшуан, аҵла иқәлоз лыԥхала, машәыр имыхькәа дылбаар иҭахын. Алыиашә иакәзар, уи аҵла уқәлар, уишәиуан, ибааԥсу узеиӷьеишьон, укаҳар, амашәыр уақәшәар иҭахын. Ауаа рныҳәараан урҭ анцәахәқәа аҩыџьагьы ргәы ҟарҵон. Хьӡыр ҭабуп ҳәа иарҳәон, Алыиашә "ухәы уаҳҭеит, уаҳԥырхагамхан" - рҳәон. Уи ишәиԥхьыӡ чеиџьыкала ирхырхуан, чеиџьыкала рхы ҿырхуан, ачеиџьыка иалымшо еигьыҟам, иӷәӷәоуп, уи аҵкыс иӷәӷәоу, иаиааиуа, акыр зылшо даҽа мчык, даҽа доуҳак ыҟаӡам ҳәа иҩуан афольклорист Сергеи Зыхәба ишәҟәы "Аԥсуа мифологиа" аҟны. Сергеи Зыхәба афольклорҭҵааҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик Иԥшьоу аҵлақәа (Хьӡыр иҵлақәа) иреиуоуп: ахьаца, араса, аҵәа, аҵәасса, аҭәа, ашә, ара, аа, ажа, ахәажә, алакәымҳа, алаҳа, аҳа. Урҭ аҩны ааигәара еиҭарҳауан имшуп ҳәа. Ауаҩы изы ибзиам, зымшьҭа бааԥсу ҵлақәоуп (Алыиашә иҵлақәа) ҳәа иԥхьаӡоуп аӷш, аԥслыш, аца. Ҩбаны азнеишьа амоуп аџьҵла. Зны уи иамҵаныҳәоит, даҽазных - иамҵашәиуеит. Зымшьҭа бзиоу, иԥшьоу аҵлақәа - Хьӡыр иҵлақәа Ахьаца Аԥсуаа рдунеихәаԥшраҿы ахьацаҵла (урысшәала "граб") иалкаау аҭыԥ азыԥҵәоуп. Иара ажәлар ирылаҵәаз азгәаҭарақәа рыла "ҵла цқьоуп", амацәыс асӡом. Аԥсуаа ахьаца иахӡыӡаауан, шамахамзар аиха адыргаломызт, цәҟьарас иҟаҵаны иеихсуамызт. "Амацәыс ахьаца ишамысуа еиԥш, ауаҩгьы аҳаҭыр ибалароуп" рҳәон Рыҩны-ргәараҭаҿы иазҳауазар, иахьчон. Ирымамзар, иааганы рыҩны азааигәара еиҭарҳауан. Ижәытәӡатәу аԥсуа жәлақәа иреиуоу Хьециаа рыжәла "аҵла цқьа" ахьаца аҟнытә ишьақәгылеит, рыжәла иагьасимволуп ҳәа азырыԥхьаӡоит. Аԥсуаа ргәаанагарала, анцәа иан д-Хьециаԥҳауп аҟнытә, ахьацаҵла амацәыс асуам. Убри азоуп, адыд-мацәыс уаҟәнагоит ҳәа, уи аҩны ааигәара изеиҭарҳауаз. Ахьаца "аҵла цқьа" аҳасабала акульт ахьыҳаракыз аҟнытә иҳаҩсыз ашәышықәсақәа раан аԥсуаа анхара андыргылоз ахьацалых адзар, ма ҩнымаҭәаны иҩнагылазар, зеиԥшыҟам хыхьчаган. Иара убас, ажәытәан мҩа харак ианықәлоз, рымҩаныфа ахьаца махә ацҭарҵон, амҩан амш цәгьа рыхҭыгәлар, иахьчаразы. Уи адагьы, Лашькьындар аныҳәарҭаҿы ахьаца амҵан аижәлантә ныҳәара аҩажәатәи ашәышықәсанӡа еиқәырханы ирыман Тҟәарчал инхоз Аргәынаа ҳәа лыҩуеит аҵарауаҩ, аетнолог Лили Акаба. Араса Даараӡа иразу, иԥшьоу ҵла жәлоуп ҳәа иԥхьаӡоуп араса. Арасатәы лаба хархәара амоуп шамахамзар аныҳәарақәа зегь рыҟны. Уи иршьуа ашьтәа агәи агәаҵәеи ахаҵаны иныҳәоит. Аԥсуаа ажәаны ирҳәоит: "Быжьҩык аҩызцәа умазар аиҳа, арасатәы лаба уманы уныҟәозар, еиҳа уахьчоит" ҳәа. Иара убас ирҳәоит даҽакгьы: "Араса — ԥааимбар цырҟьоуп". Аԥсуаа рынхамҩаҿгьы ахархәара бзиа амоуп араса. Уи иалырхуеит аҽага, аигәышә, аиха рыхәҵәқәа, расала иршышуеит акәыцҳа, ауардын акаламқәа уҳәа. Акалаҭи амҵәышәи рыхқәа злахдырҷогьы бзианы иалҵуеит. Аҭәа Аҭәаҵла – ақәранҵыра ду змоу, ашәышықәсақәа ирықәлахар зылшо ҵлоуп. Уи ашәшьыра бзиа, ашәшьыра ду ҟанаҵоит. Аԥсуаа рҿы ари аҵла амҵан ауаа реизарҭақәа еиҿыркаауеит. Иаҳгәалаҳаршәап Лыхнашҭа иқәгылоу аҭәаҵла ду. Ари аҵла шаҳаҭс иамоуп ҳажәлар рзы акрызҵазкуаз аҭоурыхтә еизара дуқәа. Уи азы иара иалкааны аԥсуаа пату рзақәуп. Иара убас аижәлантәқәа шьоукы рҿы аҭәаҵла иԥшьоу аҵакы амоуп. Иара амҵан имҩаԥыргоит аныҳәарақәа. Иаҳҳәап, Габниаа рыжәлантә аныҳәара мҩаԥыргоит уи амҵан. Ари аҭыԥ уамакала иԥшӡоуп, аҵла амахәқәа еиужь, аԥша ахәхәаҳәа иҵасуа иҟоуп. Ара еснагь ицқьаны ирымоуп, акы иаҟьашьыр ҟалаӡом, иҵасым ҳәа иԥхьаӡаны. Аҵәасса Аҵәасса – зымшьҭа бзиоу, алаԥш бааԥси аҩсҭаацәеи урцәызыхьчо, амч ду зманы аԥсабара ианылаз ҵлоуп. Аҵәассаҵла иалоу амч ахәыҷқәа алаԥш иацәнахьчоит. Аҩнаҭаҿы аԥшқа дызмаз алаԥш имкырц азы аҵәассаҵла амахә ԥҵәаны, ацаха иҭаӡахны, агараҿы ихчы иаҵарҵон, мамзаргьы агараҿы аԥшқа иҵаз ашыц гәабан амахәқәа наганы иаҵарҵон. Иаҳа ихбыџу ахәыҷқәа амахә зҭаӡаху ацаха рыхәда иахыршьуан, рцәа иадзарц, иахьыҟазаак иахьчаларц. Аҵәассаҵла аҩнатә ԥстәқәа алаԥш рацәыхьчараҿгьы ихәарҭан. Ҿыц ихьаз арахә амахә аӡа наганы ахәда, ма атәыҩа иахьыршьуан. Иҟоуп ари ашәыр хкы амчра атәы бзианы иҳазҳәо аҳәамҭақәа. Урҭ руак анылҵеит афольклорист Цира Габниаԥҳа. Уи аҳәамҭа иааркьаҿны излаҳәо ала, Анцәа иҭаххеит Аҩсҭаа илаԥш, имчра ԥишәарц. Еицны идәықәлеит. Ишнеиуаз, ауардын иақәтәаз хаҵак даарԥылеит. "Абри иҿы иулшарызеи?" – дҵааит Анцәа. "Еҳ, исылшогьы маҷӡам, аха ари ахаҵа - дхаҵа бзиоуп, иӷьатама аҵәассамахә иалхуп. Уи аҿы сара мчы сымам", – иҳәеит Аҩсҭаа. Иаагоу аҳәамҭа иаҳнарбоит аҵәассаҵла аҿаԥхьа Аҩсҭаа дшымчыдаз. Аха уи иалоу амч атәы здыруа маҷхахьеит. Цира Габниаԥҳа афольклорҭҵааҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Ашә Ашә аҵлаԥшьақәа иреиуахку ҵлоуп. Ашәҵлақәа еиужьны иахьгылоу аҭыԥқәа рҿы аԥсуаа жәытәнатәгьы ныҳәарҭас ирыман. "…шә-ҟьантаз дук лыҵлырҟәыҿын, дардӷәыс иааҟалҵеит" ҳәа Саҭанеи-Гәашьа ишылзырҳәоз еиԥш, уи иалырхуан адырды, амҳабысҭа, амысҭхәага, алабашьа уҳәа. Ашәҵла иалырхуан иара убасгьы адашьма иқәырҵоз аӷәы. Аҟәыӷақәа аԥсҭаҿы ашәҵла ашьҭыбжь ала амш, ма аамҭа зеиԥшрахо рдыруан ҳәа рыԥхьаӡоит. Ашәҵла аԥсуа фольклор аҿы имаҷымкәа иуԥылоит. Уа уи аԥсы ахоуп, ицәажәоит, ауаҩы дахьчоит, ашәарыцаҩцәа ирыцхраауеит. Аԥсуа лакә ишаҳәо ала, зны шәарыцаҩ бзиак иҷкәын абна дылахан, иқәлашьцеит. Ашәҵла Ажәеиԥшьаа иахь сасра иахьцоз даманы ицоит. Уа рыгәҭа дтәаны акрифеит, акрижәит. Ианаауаз, Ажәеиԥшьаа "ари арԥыс уихылаԥш, дырманшәал" ҳәа абжьеигеит. Ашьыжьымҭан аҷкәын аҩныҟа дандәықәла, ашәҵла "ушнеиуа адомбеи убоит, уи уара иутәуп" ҳәа ианаҳәоит. Аҷкәын адомбеи ишьуеит, уинахыс дшәарыцаҩ бзианы дҟалоит. Аҵарауаҩ Акаба Лили Хәыршьыҭ-иԥҳа лусумҭа "Исторические корни архаических ритуалов абхазов" аҿы илыҩуан аԥсуаа ашәҵла иҟалараны иҟоу адыруеит ҳәа шазгәарҭоз. "Ашә цәажәоит. Ауаа ҟәышцәа уи азыӡырҩышьа рдыруан. Ацәажәашьала амш зеиԥшрахо азгәарҭон, аибашьра ҟалараны иҟазар еилыркаауан". Лили Акаба аетнолог, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Зымшьҭа бааԥсу аҵлақәа - Алыиашә иҵлақәа Аца Ауаҩы изы ибзиам, зымшьҭа бааԥсу аҵлақәа рхыԥхьаӡараҿы, иџьоушьозаргьы, аца ыҟоуп. Аца, аҳаи аҵәеи инарываргыланы, аҩныргыларазы рхы иадмырхәоз ҵла жәлоуп, ишәиуеит ҳәа ирыԥхьаӡон. Аца еиҭарҳауазаргьы, аҩны иацәыхараны, абаҳча аҵыхәахь иҟарҵон аԥсуаа. Ҳәара аҭахума, ацеи егьырҭ зыӡбахә ҳҳәаз ашәырҵлақәеи пату рықәумҵар ҟалом, урҭ иҿало ашәыр хәыҷи-дуи зегьы бзиа еицырбоит, ихәарҭоуп, ашәырӡқәеи ашәыреиларшқәеи рылырхуеит, ирҩаны ирфоит. Аԥслыш Аԥслыш усҟак маҭәахәра алҵуамызт, аҩны ааигәара еиҭаҳангьы џьаргьы иуԥылом. Ус изазныҟәоз еиҳарак уи анышәҭуа ихҟьо абыбыц ауаҩы иахьиԥырхагоу азы акәхап. Аха уеизгьы, аԥсуаа рхы изладырхәашаз рыӡбеит. Иара аӡхықәан ҵәҩанс иадырсуан, нас ианазҳалак адгьыл аҿыбгара ааннакыларц. Аӷш Аӷшгьы, аԥслыш еиԥш, аԥсуаа рыҩны ааигәара еиҭарымҳауа ҵлоуп, уи амаҭәахә ҳәа акгьы алырхуам, аҟәара арӷәӷәаразы еиҭарҳалоит ауп. Ахәырма Ахәырмаҵла аҩны азааигәара еиҭарҳауамызт – аҭаацәа рҳәоу еиқәшәом, ацҭәа рыгхом ҳәа ирыԥхьаӡон. Уи адагьы, ажәҭра андыргылоз ахәырма адыргаломызт, избан акәзар арахә иҭаркуа тәыҩала еисуа, итәҩасуа иалагоит ҳәа азгәаҭарақәа рыман. Аха ахәырмаҵла ада аԥсуа баҳча ухаҿы иузаагом. Иара иаҿало ашәыр агәабзиаразы хәы амам. Ишырҳәо ала, иара акали, амагни, акальци, анатри уҳәа хәарҭара злоу амаҭәашьарқәа рыла егьырҭ ашәырқәа ираԥнагоит, иара убас жәлар рмедицинаҟны рхы иадырхәоит. Ахәырмарҩа акәзар, ҳтәылаҿы саси-ԥшәымеи зегьы иреиӷьаршьо амилаҭтә гәырхаагақәа иреиуоуп. Аҷандар Аҷандарҵла аҩны ааигәара еиҭарҳауамызт, џьара ааигәара иазҳаргьы, иԥырҟон, ауаҩы иԥырхагоуп, амашәырқәа ацуп, анасыԥдара иазҳәоуп ҳәа иԥхьаӡаны. Аҷандар амацәыс аднагалоит ҳәа иазгәаҭан ирымоуп аԥсуаа. Ари аҩыза азгәаҭара рымоуп хылҵшьҭрала иаҳзааигәоу ҳаиашьаратә жәларгьы – абазақәа рҟны. Урҭ рҳәамҭақәак ишырҳәо ала, аҷандар абас аҳәозаап: “Сара саууп, анцәа иҟынӡа снаӡоит, анцәа амацәыс лаишьҭыртә иҟасҵоит”. Убри аан иҟоуп ҷыдала изызнеиуа аҷандарҵлақәагьы. Аҷандара ақыҭа агәаны игылоу еицырдыруа аҷандарҵла ду амҵан ауаа иреизарҭоуп. Ари ақыҭан инхо ауааԥсыра ргәаанагарала, ари аҵла баша ҵлам, ԥааимбар ҵлоуп. "Ҳазшаз иҵлоуп ҳәа ирыԥхьаӡон ҳаиҳабацәагьы, иахьагьы уа амцҳәара ыҟаӡам, аиашаҳәароуп иҟоу ҳәа ирыԥхьаӡоит", - ҳәа иҳәахьан Аҷандара ақыҭа ахадас акыр шықәса иҟаз, ари ақыҭа иалиааз Витали Џьениа. Аџь Зегь реиҳа иалкааны аԥсуаа иахьа уажәраанӡагьы ирымоуп аџьҵла. Уи зықәранҵыра дуу, зқьы шықәса инареиҳаны иннаҵыр зылшо ҵлоуп. Агәаԥшь ахьамоу азы иара даара иӷәӷәоуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Аџьҵла абас еиԥш иамоу аҟазшьақәа инарҿырԥшны амч-алша, аӷәӷәара, аԥсуа иқәра ду иашьананы иахәаԥшуеит. Аԥсуаа ҳҿы аџьҵла жәытәаахыс азҿлымҳара ду аман. Аха ари аҵлазы урҭ ргәаанагара еиуеиԥшым, разнеишьа аҽашоит: 1 Ганкахьала, аџь нцәахәыртәуан, анцәа изааигәоуп ҳәа иԥхьаӡаны иара амҵан аԥсуа жәлақәа жәпакы,иаҳҳәап, аижәлантәқәа Аираа, Гәымбаа, Зыхәаа, ныҳәарҭа ҭыԥс ирыман, иахьагьы урҭ аныҳәарақәа уԥылоит. 2 Иара убас, ӷьычрак, ма даҽа цәгьарак ҟаиҵеит ҳәа ргәы иззаанаго ауаҩы ари аҵлаҿы днаганы ддырқәуан – ас еиԥш иҟоу ақәра даара иӷәӷәоу қәроуп ҳәа иԥхьаӡан. Иаҳҳәап, иҩаз аџь амҵан "аџь ашәа сҩааит" ҳәа иқәыз ауаҩы игәра ргон. Уи мыцла дқәызар, ихаҭа аҩара (ачымазаҩхара) далагон. Аџь амҵан ма иԥшьаз аџьраҿы ақәра ажьира анықәра аасҭа амч амоуп ҳәа анырыԥхьаӡоз аамҭа ыҟан. Аԥсуаа рҟны еиԥшҵәҟьа, адыгаа рҿгьы аџь иԥшьоу ҵиаауп. 3 Ауаҩы ӷәӷәала акы дазгәаар, уи амҵан днеины дшәиуан. Амц ҳәаны дшәииргьы, ашәи иара иахь ихынҳәуан. Аҵарауаҩ Лили Акаба ишалырбо ала, аџь иамҵаныҳәоз аижәлантәқәа уи ахьӡала иршьуан ақыжә: иара аҵла амҵан инаганы ашьа карҭәон, уа ацәа ахыхны еиҿырхуан, амца еиқәҵаны акәац ржәуан, аҳәсагьы ахәажәақәа иара убра иржәуан. Аныҳәара иахәҭоу аназдырхиалак ашьҭахь, зегьы амрагыларахь рхы рханы игылон, ахаҵа быргк даалҵны дныҳәон. Ас еиԥш аныҳәара мҩаԥыргон Гәымбаа. Лили Акаба аетнолог, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Иара убас, Баҽа аҳаблаҿы иҟоу Аираа рныҳәарҭаҿы изымҵаныҳәо акыршықәса зхыҵуа, зымахәқәа еиужь игылоу аџьҵла ашьапаҿы ашьтәа ршьуеит, иара уа иахныҳәоит. Уахь аҭыԥ ааигәара аҳәса неиӡом, аныҳәара аныҟоу акәым, иара ус абжьааԥныгьы анеира иҵасым рҳәоит. Афольклорист Сергеи Лад-иԥа Зыхәба инҵамҭақәа рҿы иаирбоит Гәдоуҭа араион Бармышь ақыҭан "Бармышь аџь" ҳәа изышьҭаз аџьҵла амҵан ақыҭа зегьы реизарақәа ишрымҩаԥгарҭаз. Очамчыра араион Елыр ақыҭан аҵарауаҩ иҟаиҵаз анҵамҭа излаҳәо ала, Зыхәаа рныҳәарақәа ианагь аџь амҵан имҩаԥысуан. Аџь ахьӡала иршьуан ақыжә, идырхион ахәажәақәа, иадыркуан ацәашьқәа. Ашьтәашьыра, ахәажәаҟаҵара уҳәа ари аныҳәара иаҭахыз амарҭхәқәа зегьы изымҵаныҳәараны иҟоу аџь азааигәара акәын иахьдырхиозгьы. Сергеи Зыхәба афольклорҭҵааҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик Абас еиԥш џьоукы ари аҵла ныхахәыс ирымоуп, даҽа џьоукы уи амҵагылара акәым, иацәшәаны ааигәарагьы инеиуам, уимоу рахәгьы-шәахәгьы уи ааигәара инарышьҭуам. Ажәытәан аԥсуаа аџь амҵан акәым, ааигәарагьы арахә рхьомызт, уи ааигәа ажәхьара уалагар, ажә шарылоит, ма ахш канаҭәоит ҳәа рыԥхьаӡон. Уи ахьгылоу акәша-мыкәша аҩсҭаацәа, аџьнышцәа иреизарҭоуп рҳәон. Убасгьы, аџьҵла ӷәӷәоуп азы аҩсҭаа далаланы иҽиҵәахуеит, убри азоуп иара лассы-лассы афы засуа ҳәа зазырҳәоз. Иахьа неилых ҟамҵакәа ирбо зегьы мҿыс рхы иадырхәоит, аха ажәытә ари аҵла убас иазыҟан, амахәгьы хырҵәомызт, амцагьы иақәырҵомызт, уарчмазаҩуеит ҳәа иԥхьаӡаны. Иара убасгьы, аԥсуаа ҳҟны адыд зысыз иарбан ҵлазаалакгьы иааганы ахәышҭаара амца иақәҵаны ирбылуамызт. Ҳмилаҭ жәытәаахыс ашәаԥыџьаԥ, аҵлақәа ирыхӡыӡаауан. Ишхырҳагаз, ишхәарҭаз рдыруан. Иарбан ҵиаахкызаалак ҷыдала иазнеиуан, ус аламала ихыршьаауамызт, зыԥсы ҭоу реиԥш ирыхәаԥшуан, иарбанзаалак ахатә ҭыԥ, ахатә знеишьа аман. Убри аҩыза азыҟазаашьа еиқәырханы, аԥсабара еиҷаҳаны есиуа абиԥарақәагьы ирымардалароуп. Алонгрид еиқәыршәоуп афольклорҭҵааҩцәа Есма Ҭодуаԥҳаи Сусанна Ҭаниаԥҳаи Sputnik азы ирыҩхьаз аматериалқәа рышьаҭала.
https://sputnik-abkhazia.info/20230610/alaei-ur-ryntsakhei-2-1045527104.html
2024-03-05T01:34:11Z
<urn:uuid:0ad9943c-ff23-4ce4-810f-1dec5d2d1da3>
[]
[]
abk-Cyrl
1
0.94
1
80
24,048
tlsh:T1ED4D82B28880DB8BC6F3D14CDB92493568C0594383637220CEC9F4B52545068FFFCD13AAEBE81A4A74AB1121D292BF20A51EFDEA257D7A9770D240E5683F3ACD276436D69E
Саида Бадра-иԥҳа Делԥҳа (аур. Делба Саида Бадровна; ԥхынгәымза 27, 1965 ш., Тҟәарчал, Аԥснытәи АССР, СССР — абҵарамза 30, 1992 ш., Тҟәарчал, Аԥсны) — Аԥсны ашәҟәыҩҩы. Абиографиа[аредакциазура | акод аредакциазура] Диит 1965 шықәсазы, Тҟәарчал ақалақь аҿы. Дҭахуит аԥсуақырҭуа Тҟәарчал ақыҭа Аҟуарчаԥан аҳабла. 1982 шықәсазы дҭалоит Аԥснытәи аҳаынҭқарратә университет афилологиатә факултет. 1985 шықәсазы диаган М. Ломоносов ихьӡ зхыу Москватәи аҳәинҭқарратә университет ажурналистика афакультет ахь. Ашьҭахь, 1985 шықәсазы, убраҟа аҵара ааныжбны, наанӡа дахьҭаз Аԥсуа ҳәынҭқарратә университет ахь диасуеит, дагьалгоит 1989 шықәсазы. 1990 шықәсазы аус луеит Дәрыԥшьтәи абжьаратәи ашкол аҿы. 1991 шықәсазы Гәдоуҭа иҭыҵуаз агазеҭ «Аублаа» Даредактор хадан. Саида Дел-ԥҳа лыԥсҭазаара далҵаанӡа илкьыԥхьхаз: раԥхьатәи лажәеинраала адунеи абеит ажурнал «Алашараҿ» /1984, 1/, /иара абраҟа икьыԥхьын иеиҳа инарҭбааз уи лықәгылара, аа-жәеинраалак «Алашара», /(1986, 3)/, даҽа акы-ҩба жәеинраала лзанын агазеҭ «Аԥснытәи ауниверситет» /хыԥхьаӡарала абарҭ зегьы ҳышәҟа цәаҳәа иреиҳамызт/ Абҵарамза 30 1992 урҭ руак аан Очамчыра араион Маркәыла ақыҭан ахәра ӷәӷәа лоуеит. Лара Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы дҭахеит. Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура] Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 944 Азхьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура] Делба Саида Бадровна (аур.) Делба Саида Бадра-иԥҳа (аԥс.) Ахыҵхырҭа – https://ab.wikipedia.org/w/index.php?title=Делԥҳа,_Саида_Бадра-иԥҳа&oldid=113264 Акатегориақәа: Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Аԥсны апоетцәа Аԥсны ажурналистцәа Аибашьра иалаӡыз Делаа 1965 шықәсазы ииз Ԥхынгәымза 27 рзы ииз 1992 шықәсазы иԥсыз Абҵарамза 30 рзы иԥсыз Ацыхәтәантәи аԥсахрақәа абри адаҟьа аҟны: 15:26, 15 лаҵарамза 2021. Атекст ахьыманшәалоу Creative Commons Attribution-ShareAlike алицензиала иҟоуп; ахарҭәааратә ԥҟарақәа рылша рныруеит. Шәахә. Инарҭбааны шәахә. убас Ахархәаразы аԥҟарақәа.
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%94%D0%B5%D0%BB%D4%A5%D2%B3%D0%B0,_%D0%A1%D0%B0%D0%B8%D0%B4%D0%B0_%D0%91%D0%B0%D0%B4%D1%80%D0%B0-%D0%B8%D4%A5%D2%B3%D0%B0
2024-02-20T23:18:36Z
<urn:uuid:df72e668-f7b3-4d41-b4c3-37e62944603a>
[ "footer", "short_sentences" ]
[ "liste_bu", "wikipedia" ]
abk-Cyrl
0.82
0.84
0.94
19
3,516
tlsh:T1A22C9C71BF40CB4BCAB3C09889514D3959E26D5742727665CED5B0B12A4319DEBBCD03E6EEA8158664AF1632E113EE05BD4EFCE511BD3EEB31D240923D2F38EE0B5076D29E
Иракли Ҕарибашвили - Ҳаиҳабыра еснагь ишьақәдырҕәҕоит ауаҩытәыҩса изинқәеи ихақәиҭрақәеи рыхьчара ишазгәыку - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Иракли Ҕарибашвили - Ҳаиҳабыра еснагь ишьақәдырҕәҕоит ауаҩытәыҩса изинқәеи ихақәиҭрақәеи р... Иҵегь аҭагалара Иракли Ҕарибашвили - Ҳаиҳабыра еснагь ишьақәдырҕәҕоит ауаҩытәыҩса изинқәеи ихақәиҭрақәеи рыхьчара ишазгәыку 14:20, 10.12.2023 Иахьа Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара зегьирзеиҧшу адекларациа анапаҵаҩра инаркны 75 шықәса аҵра азгәаҳҭоит. Ҳаиҳабыра хықәкыс ирымоуп ауаҩытәыҩса изинқәеи ихақәиҭрақәеи ишахәҭоу ала рыхьчара еиқәзыршәо амеханизмқәа раҧҵареи анапхгаратә амахәқәа зегьы рҿы, аҳәынҭқарратә маҵзурақәеи ари азҵаара иазҿлымҳау аганқәеи рҽалархәрала еиҧҟьарада арҭ амеханизмқәа рырҿиареи», — иануп Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иҳәамҭаҿы. «Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара аганахьала аҭагылазаашьа аиҕьтәра амзызла, ҵыҧх, цәыббра 5 рзы, аиҳабыра ирыдыркылеит Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара амилаҭтә стратегиа, 2023 шықәса хәажәкыра 23 рзы апарламент ари астратегиа шьақәнарҕәҕәеит. Ари адокумент атәылаҿы ауаҩытәыҩса ихадаратә зинқәеи ихақәиҭрақәеи амилаҭтә системеи аинституциатә демократиеи арҕәҕәара иацхраауеит; ауаажәлари жәларбжьаратәи аиҩызареи рҿаҧхьа аҳәынҭқарра ахы иаднаҵаз аҧхықәрақәа рынагӡара иазкуп; зегьирзеиҧшу азхаҵара змоу ауаҩытәыҩса изинқәеи ихақәиҭрақәеи рыхьчара еиқәнаршәоит. Астратегиала иазҧхьагәаҭоу ахықәкқәа рынагӡара амзызла, уажәазы активла аусура мҩаҧысуеит Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара амилаҭатә план (2024-2026 шш) аиқәыршәаразы. Убри азыҳәан, аҳәынҭқарратә убарҭақәеи атәылауаҩратә сектори рҽалархәрала активла аиҧыларақәа мҩаҧысуеит. Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара амилаҭтә план апроект еиқәыршәоуп аиҳабыра радминистрациаҟны акоординациала, ари апроцессаҿ аҳәынҭқарратә усбарҭақәа атәылауаҩратә сектор абжьагарақәа зегьы иазҧхьагәарҭеит. Атәылауаҩратә сектор аҟны аусеицура нагӡахоит амилаҭтә план анагӡара аетапаангьы. Ҳаиҳабыра еснагь ишьақәдырҕәҕоит ауаҩытәыҩса изинқәеи ихақәиҭрақәеи рыхьчара иазку аҧхықәра ишазгәыку, уи ала иазҧхьагәаҭоуп асистематә, еишьҭаргылоу, акыраамҭалатәи аполитика аиқәыршәареи анагӡареи. Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчареи адемократиа арҕәҕәареи иазку аҽазышәара европатәи аҭаацәара иаҳа ҳазааигәанатәуеит. Ажәлари атәыла анапхгареи рзеиҧш ҽазышәарала, Евроеидгылеи Қырҭтәылеи рпартниорра иаҳа-иаҳа иҕәҕәахоит. Иахьа аконкреттә алҵшәақәа лабҿаба иубараҭоуп, урҭ иреиуп Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭреи, авизадатә режими, ҵыҧх иҳанашьаз европатәи аперспективеи, насгьы, уажәааны Еврокомиссиа акандидат астатус иадҳәаланы иҳахәҭоу аӡбара ҟәыш аднакылеит. Абри амҩа, Евроеидгылашҟа Қырҭтәыла аинтеграциа наӡа иазку ҳхықәкы хада есымша ҳазааигәанатәуеит», — иануп Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иҳәамҭаҿы. АПОЛИТИКА Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили 5 Еиҧшу Иракли Ҕарибашвили – Агәра ганы сыҟоуп ҳара аглобалтә усеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны алҵшәа дуқәа шҳауа, адунеитә масштабла изҩыдоу, ишәҭыкакаҷу аҧеиҧш аиқәыршәара шҳалшо Иракли Ҕарибашвили адунеитә економика алидерцәа иформалымыз ршьыбжьхьа ихы алаирхәит Иракли Ҕарибашвили аилахәыра TAQA анапхгаҩы диҧылеит Аҳәынҭқарра, зынхарҭатә ҭагылазаашьа цәгьоу 1000 ҭаацәара анхарҭа ҿыцқәа рнаҭоит Иракли Ҕарибашвили – Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы Қьырса аныҳәа ду ргәырҕьаҵәа иаҧыларц рзеиҕьасшьоит, ҳара ҳазынтәгьы, ҳаҧсадгьылгьы Анцәа илҧха ҳагымзааит, аҭынчра ҳамазааит Иракли Ҕарибашвили Хавиер Коломина диҧылеит Иракли Ҕарибашвили – Ҳара ари аус ҳазықәҧон, аус аауан, атәыла анапхгареи ажәлари ари астатус ҳҽаҧсаҳтәит Иракли Ҕарибашвили Урсула фон дер Лаиен лахь - Евроеидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәа астратегиатә аӡбара рыдыркылап ҳәа ҳгәыҕуеит, ари аӡбара Қырҭтәылеи европатәи адемократиақәа рҭаацәареи ҕәҕәала еиднаҳәалоит Иракли Ҕарибашвили Евроеидгылаҿ ахантәаҩра змоу атәыла – Испаниа аҧыза-министр иахь - Қырҭтәыла, Евроеидгыла ҳаҧхьаҟатәи алахәыла аҳасабала, Европа ашәҭыкакаҷраҿы зҵакы дуу ароль нанагӡоит Иракли Ҕарибашвили Шарль Мишель иахь – Ҳажәлари анапхгара ззызуа аиҳабыреи ҳазну амчыбжь азы Евроеидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәа астратегиатә аӡбара рыдыркылап ҳәа ҳгәыҕуеит Амш зеиҧшрахо 4° аҩ Қaрҭ Ах 6° аҧшь 10° Авалиута акурс $ USD 2.6525 0.001 € EUR 2.8769 0.007 ₽ RUB 0.02873 0.077 £ GBP 3.3631 0.004 TOP 5 Европатәи 20 тәыла рлидерцәа иахьа Париж, Украина азҵаара иахцәажәоит Илиа Дарчиашвили – Агәра ганы ҳаҟоуп жәларбжьаратәи ауаажәларра рпозициа ҕәҕәа ахадаратә ҵакы шамоу Урыстәыла ахатә ҧхықәрақәа нагӡаны Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҟынтә ахатә бџьармчқәа алнагарц азыҳәан Атапанчала ахысразы Қырҭтәыла аизга Европа ачемпионс иҟалеит – #1TVSPORT Роберт Фицо – НАТОи Евроеидгылеи Украинаҿ арбџьармчқәа рыргылара азҵаара иахәаҧшуеит Қырҭтәыла VS Сербиа Актәи аканал аҿы - итәу "Қарҭтәи аренаҿ" арекордсен Гьаргь Цинцаӡе амҵәышәмпыд аҟынтә днаскьаргоит #1TVSPORT
https://1tv.ge/lang/ab/news/irakli-gharibashvili-haihabmra-esnag%D1%8C-ish%D1%8Caqdmrghghoit-awauimtmuisa-izinqei-ixaqi%D2%ADraqei-rmx%D1%8Cchara-ishazgmkw/
2024-02-27T12:36:52Z
<urn:uuid:eebb40e3-634f-40c7-84e7-29f4a9aedeca>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.96
0.62
0.97
56
9,063
tlsh:T1B709F2128A40DB4BE1B3C59ACB918A353DC179478662A270CEC9F871279609CEFFCD13AAB9E80A4BB09B1512D061BF10160AECEB59BDBFD3711240B46D2F38DD3B9475859D
Доброго времени суток, уважаемые посетители! В данной статье пойдёт разговор о том, Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәиаусқәа рминистрра. Если у Вас назрели вопросы, задавайте их, спрашивайте, постараемся помочь! Надеемся, что информация Вам пригодится Аҵиаа Аԥсны ҵиаала абеиареи аиԥшымзаареи арелиеф аиԥшымзаареи, алитологиатә еилазаареи, аҳауеи, анышәи роуп изыбзоуроу. Зыда ыҟам аԥсуа фауна атәы аҳәоит арҭ аҭыԥқәа мацара ирҷыдаҟазшьоу 82 ҵиаа хкы. Иааизакны, 2022 хкы рҟынӡа аҵиаа. Аԥсны афлора, еиҳаракгьы, акарсттә цәаҳәаҟны иуԥыло, Аҩадатәи адгьылкәымпылбжа зегьы аҿы иуникалтәуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Аԥсны адгьылҵакыра абжеиҳарак бнарала ихҟьан. Абнала ихҟьоу адгьылҵакыра 493,6 нызқь га артәоит. Аԥсны абнарақәа рыҟны 180 инарзынаԥшуа аҵла-чықьтә хкқәеи 50 ҵла хкқәеи ыҟоуп. Аҵла — чықьтә хкқәаны иҟоуп авитаминзлыҵуа, афатәзлыҵуа, ацыхәтәқәа, арҩычагақәа, ахәшәтәыгатәқәа, амзашатәқәа, анышәрҕәҕәагақәа, ацхазлыҵуа, аефирхәшәатәқәа, акаучуктәқәа, ашьақарҵлақәа, атанидозлыҵуа, арҵәыгатәқәа. Еиҳа ирацәоуп: ашә, аԥса, ахьа, аџь, ашыц, ал, ахьаца. Раԥхьа амшын қәыԥшылараҟнытә 600 м ахьыбжьоу аҳаракыраҟынӡа ирызҳауеит ал, ахьаца, ахьа, ашә уҳәа рыла ишьақәгылоу иеилаԥсоу абҕьыбнақәа. Аҩада, 2022 м рҟынӡа иуԥылоит ашә-ахьатә бнақәа, иҵегьы ҩадаҟа 1800-2000 м рҟынӡа аҳаракырақәа рҿы агәырбҕьыҵлабнақәа, еиҳа ирацәоуп абнаԥсара. Административ-территориалтә шара Аԥсны — унитар республика; 6 районар (араион) акатзава. ақ. Аҟәеи бжь-раионки ыҟоуп: Аԥсшәа аҳәынҭқарратә бызшәа ауп. Адгьылхҩылaaрa Аԥсны шьҭоуп Амшын Еиқәа ахықәан аӡиасқәа ԥсоуи Егри рыбжьара. Азхьарԥшқәа «100 текстк аԥсышәала», Аҟәа: Агәыҳалалратә Фонд Аԥсны аҿиара Афонд «Амшра», 2015 Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада. Official site (ab, ru, en, tr) Немецкие эксперты: Грузия не станет обращаться в Международный суд в Гааге_DEUTSCHE WELLE Саакашвили подписал закон об оккупированных территориях // Civil Georgia, Тбилиси / 31 Oct.2008 Ақалақьқәа Ақалақь Аҟәа (43 716-ҩык.) Аԥсынтәыла иаҳҭнықалақьуп. Даҽа қалақьқәа: Гагра (10 717-ҩык.), Гәдоуҭа (7738-ҩык.), Гал (7169-ҩык.), Тҟәарчал (4786-ҩык.), Очамчыра (4702-ҩык.), Афон Ҿыц (1308-ҩык.). Агидрографиа Аԥсны 120 ӡиас ыҟоуп, урҭ ааидкыланы раура 2022 км иреиҳауп. Аӡы ажәпара 0,6км/км² артәоит. Уи ажәпара еиҳауп ашьхараҿы акарсттә ӡқәа ахьыҟам ацәаҳәаҿы. Аԥсны аӡиасқәа зегьы иреиҳауп аӡиас Кәыдри (аӡиас Сакьан налаҵаны) аӡиас Бзыԥи. Уи аура 129 км инаӡоит. Уи аӡы иҭоу ала Аԥсны аӡиасқәа рыҩныҵҟа актәи аҭыԥ ааннакылоит. Аӡы иҭоу ала Аԥсны аӡиасқәа рахьтә аҩбатәи аҭыԥ аннакылоит аӡиас Бзыԥ. Уи аура 110 км инаӡоит. Арҭ аҩ- ӡиаск рыӡҭачыра — 3540² км рыҵаркуеит. Ари Аԥсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыра зегьы аҟны 4,01 % артәоит. 50 км инадыркны 100 км рҟынӡа аура змоу аӡиасқәа ԥшьба ыҟоуп. 30 км инадыркны 50 км рҟынӡа аура змоу аӡиасқәа жәаба ыҟоуп. Еиҳа ирацәоуп 10 км инадыркны 30 км рҟынӡа аура змоу аӡиас маҷқәа. Ус иҟоу аӡиасқәа 66 ыҟоуп. Аԥсны 186 ӡиа ыҟоуп. Урҭ реиҳарак ашьхаҳаракырақәа рҿы ишьҭоуп. Аӡиақәа рацәаны ишыҟоугьы, дара зегьы еилаҵаны рзеиԥш ҵакыра 5,23² км иреиҳаӡам, насгьы Аԥсны адгьылҵакыра зегьы аҟнытә 0,06 % роуп иааныркыло. Аԥсны аӡиақәа зегьы ирылукаартә иҟоуп Риҵеи Дуи Амтҟьали. Риҵа Ду ақәыԥшылара 1км³ иреиҳауп, аӡиақәа Амтҟьали Бабасыри рҵакыра хаз-хазы – 0,5 ² км рҟынӡа ыҟоуп. Аԥсны арелиеф иабзоураны аӡҟычрақәа иааныркыло аҭыԥ маҷуп. Акаршәрақәа рҿы урҭ еиҳа ирацәоуп алада-мрагыларатәи ацәаҳәаҿы. Анаҩс, аӡхықәқәа ирываршәны дгьылбжьахаланы иуԥылоит аӡиасқәа рықәқәа рҿы. Иара убас ашьхаҳаркырақәа рыҟны аӡы ацара ахьыуадаҩу аҭыԥқәа рыҟны. Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо ирацәоуп адгьылаҵаҟатәи аӡқәа. Урҭ зегьы еиԥшӡам ахимиатәи агазтәи еилазаашьала, аминералтә шьақәгылашьалеи аԥхарреи рыла, еикәшашьалеи, хыхь иҟоу аӡқәеи дареи реимадашьалеи, лшарақәас ирымоу рыла. Аԥсны аӡаҵаҟатәи аӡқәа рыла абеиара зыбызоуроу ари аҭыԥ аҿы иҟоу агеологиатә еилазаашьеи агемоморфологиатә ҷыдарақәеи инарықәыршәаны азеиԥш гидродинамикатә ҭагылазаашьа бзиа ауп. Азгәаҭақәа ↑ (unspecified title) ↑ (unspecified title) Аԥстәқәа иҟоу Аԥсны иаҷыдаҟазшьоу афауна альпиатәи ацәаҳәаҟны иуԥылоит. Ароуп иахьыҟоу Кавказ иҟоу афауна ахкы аиҳарак: кавказтәи абҕаџьма (Carpacaucasica, кавказтәи адәҳәынаԥ (Microtusnivalis), Прометеи иҳәынаԥ Prometheomysschaposchnikowi), кавказтәи ашьа пықамсеи (Lyrurusmlocosiewieczi) акаԥкаԥи (Tetragalluscaucasicus). Аԥсны адгьылҵакыра иалсны ицоит Евро-Азиатәи аконтинент иатәу аԥсаатә рмиграциатә мҩа ду. Ара иҟоу 294 ԥсаатә хкы ашәҟәы иҭаҩуп. Урҭ ирылоуп, шамахамзар, иуԥымло ахкқәа реиԥш аӡра иаҿугьы: ашьхауарба, ашьшьыга, амамырџагә еиқәаҵәа, ашьауардын-саԥсан, аҵырҟьа цәаԥшь, амшынҟыз, аӡыцәа шкәакәа ду уҳәа уб. егь.). Агыгшәыгқәа рахьтә иҟоуп кавказтәи амшә еиқәаҵәа, абгалаџ, абга, абгахәыҷы, адәыҭәҳәа, абнацгәы, абнацыҕи ахаҳә цыҕи, аԥшӡеи, аашьышьи, аԥслыи). Ашәарах рахьтә иуԥылоит кавказтәи абҕаџьма, европатәи абынҽа, ашьабсҭа, ақәасаб. Лассы-ласс иуԥылоит абынҳәа. Аԥсны хыԥхьаӡара рацәала иҟоу аҳаԥқәа ҽыцәҵәахырҭас ирымоуп ахәылԥҵысқәа. Урҭ 21 хкы рҟынӡа ыҟоуп ҳәа азгәаҭоуп. Аҳаԥқәа ирҭоу афауна еиҳарак абҕа змам аԥстәқәа роуп. Еиҳа ижәытәӡоу аҳаԥқәа рҿы иуԥылоит зыда ыҟам аԥстәы хкқәа. Убас, Афонҿыцтәи аҳаԥы иамоуп троглокарис (Troglocarisschmidtiifajei) захьӡу амшынԥстәы, аҳаԥы бжы (Janeilusgloriosus). Агерпетофаунаҟнытә иалкаатәуп ара иуԥыло (Viperakaznakowi) кавказтәи амаҭ дуи амшынбжьааратә акәуеи (Testudograeca), аҽаҩрадаҕь цәыши. Аҵыхәтәантәи, аҽаҩрадаҕь цәыш, иара иҟоу ахкқәа зегьы иреиҳау ахкқәа рахь иаҵанакуеит. Аԥсны Амшын еиқәа еиҳа иаҷыдаҟзшьоу афауна аҟнытә аԥсыӡқәа рахь иԥхьаӡоуп: афранџь (Salmotrutta), ақьаԥыр, ашәиаҟ, амлагәыр, агәыҵаԥшь, ақамашьиа (аҷыҷмаса); адельфин ганшкәакәақәа, азовтәи, афалина; амедузақәа — аурелиа, корнерот, ризостома; амолиускақәа — амиди, венус, кардиум, рапана уб. иҵ. Зынӡа Амшын еиқәа иҭоуп 160 ԥсыӡ хкы. Аԥсны ашьха рҩашқәа акалмаҳа (Salmotrutta) рацәаны ирымоуп. Амшынҿықәтәи акаршәрақәа рыҟны апҟызратә ӡиақәа ирымоуп апҟаз, аткәицар. Содержание 1 Ақалақьқәа 2 Адгьылхҩылaaрa 3 Административ-территориалтә шара 4 Агидрографиа 5 Аҵиаа 6 Аԥстәқәа иҟоу 7 Азхьарԥшқәа 8 Азгәаҭақәа Министерство образования Республики Абхазия Министерство образования Республики Абхазия Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҵара аминистрра Общая информация Штаб-квартира 384900 ул. Званба 9, Сухум, Абхазия Министр образования Республики Абхазия Вардания Индира Владимировна Министерство образования Республики Абхазия (абх. Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҵара аминистрра) — центральный орган государственного управления Республики Абхазия, проводящим государственную политику и осуществляющим управление в области образования.
https://cenpart.ru/a-sny-a-yn-arra-ad-ny-at-iaus-a-rministrra
2024-02-29T19:17:05Z
<urn:uuid:b92f3014-44e0-428a-83ec-90dc62abfee7>
[ "footer", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.8
0.78
0.94
40
11,516
tlsh:T1E2A7F632C140DB8BD673D249CE524E316CC05D03836372318EC5B4B5358205CFBFCC12DAB9A916866CEB1111D252FB206A0EFDFA697EBADB718250942D3F35ED23A877969E
Аҧсны Аҳәынҭқарра (Аҧсны) – ажәлар ахатәҳәаақәҵаразы ирымоу азин инақәыршәаны, ҭоурыхла ишьақәгылаз ихьыҧшым, демократиатә, зинтә ҳәынҭқарроуп. Ахьыӡқәа «Аҧсны» «Аҧсны Аҳәынҭқарра» ҵакыла акоуп, иеиҟароуп. Азеиҧш дгьылҵакыра – 8,7 нызқь ҧшь.км. ыҟоуп. Бжьаратәла аҩадантә алада 54 км, мраҭашәарантә мрагыларанӡа – 160 км ыҟоуп . Амшын ҿықә ацәаҳәа 214 км. инаӡоит. Ашьхара Аҧсны адгьылҵакыраҟны 64 % ааныркылоит, 57 % бнала ихҟьоуп (аџь, ашә, ахьаца, ахьа, аҧса, ). Аҳауа цәаакуп субтропикатәуп, ажьырныҳәазы бжьаратәла аҳауа аҧхарра аҧшаҳәаҿы +4 +7 С, ашьхараҿы +2 инаркны -2 С рҟынӡа ҟалоит, ҧхынгәазы +22 +24С рҟынӡа иҧхаррахоит. Ашықәс аҩныҵҟа 1300-2400 мм. алышәшәақәа леиуеит. Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа 1994 шықәса абҵара 26 рзы Иреиҳаӡоу Асовет аилатәара 12-тәи ааҧхьара иаднакылеит, 1999 шықәса жьҭаарамза 3 рзы жәларызегьтәи бжьыҭирала иақәшаҳаҭхеит, 1999 шықәса жьҭаарамза 3 рзы жәларызегьтәи бжьыҭирала (ареферендум) аан ирыдыркылаз аҧсахрақәа алагаланы. Аԥсны ҳәынҭқарратә бызшәас иҟоуп аҧсуа бызшәа, аурыс бызшәа, аҧсуа бызшәа инаваргыланы, аҳәынҭқарратәи егьырҭ иеиуеиҧшым аусбарҭақәеи рыҟны ахархәара амоуп. Аҧсны Ахада дызхагылоу ҳәынҭқарроуп. Аҳәынҭқарра Ахада далххоит хәышықәса ҳәа. Республика Абхазия (Апсны) – суверенное, демократическое, правовое государство, исторически утвердившееся по праву народа на свободное самоопределение. Наименования Республика Абхазия и Апсны равнозначны. Общая площадь – 8,7 тыс. кв.км. Средняя протяженность с севера на юг - 54 км, с запада на восток - 160 км. Длина береговой линии 214 км. Горы занимают 64 % территории. Лесами покрыто 57 % территории (дуб, бук, граб, каштан, пихта и ель). Климат влажный субтропический, средняя температура января на побережье +4 +7 С, в горах от +2 до -2 С, в июле соответственно +22 +24 С. Осадков 1300-2400 мм. в год. 26 ноября 1994 года парламент республики принял новую Конституцию суверенного Абхазского государства, субъекта международного права, одобрена всенародным голосованием 3 октября 1999 года с изменением, принятым на всенародном голосовании (референдуме) 3 октября 1999 г. Государственным языком Республики Абхазия признан абхазский, а русский наряду с абхазским является языком государственных и других учреждений. Абхазия – президентская республика. Глава государства – президент – избирается на пять лет. + Аҧсны Аҳәынҭқарратә Герб Аҧсны аҳәынҭқарратә Герб хыхьынтә ҵаҟала еиҟароу ҩ-хәҭакны – ашкәакәеи аиаҵәа ҧшшәи рыла ишоу ҧыракуп. Агерб ацәаареи асиужеттә еиҿартәашьеи - хьыҧшшәалоуп. Агерб аҵаҟатәи ахәҭаҟны аа-кәакьк змоу аеҵәа ануп. Агерб агәҭаны – аеҵәақәа рахь ахҿа зышьҭуа аҽыуаҩ алакә ҽы – Арашь дақәтәаны дануп. Агерб аҩадатәи ахәҭаҟны симметриала ашкәакәеи аиаҵәа ҧшшәи ирнубаалоит ҩ-еҵәа хьыҧшшәылак. Агерб асиужет Нарҭаа ирызку аҧсуаа рфырхаҵаратә епос иадҳәалоуп. Агерб иану аҧшшәахәы иаҵәа символра азнауеит аҿареи аҧсҭазаареи, ашкәакәа – адоуҳара. Аа-кәакьҭак змоу аеҵәа ду– аиҭаира асолиартә дыргоуп. Аеҵәа хәыҷқәа Мраҭашәареи Мрагылареи ркультурақәа реидгылара символра рзыруеит. Государственный герб Республики Абхазия Государственный герб Республики Абхазия является официальным государственным символом Республики Абхазия. Государственный герб Республики Абхазия представляет собой щит, по вертикали разделенный на две равные части – одна белого и вторая зеленого цвета. Контур герба и сюжетная композиция золотистого цвета. В нижней части герба расположена восьмиконечная золотистая звезда. В верхней части, на белом и зеленом фоне, симметрично расположены две восьмиконечные звезды золотого цвета. В центре герба – фигура всадника, летящего на волшебном коне Араше и посылающего стрелу звездам. Сюжет герба связан с героическим Нартским эпосом абхазов. Зеленый цвет герба символизирует молодость и жизнь, белый – духовность. Большая восьмиконечная звезда – солярный знак возрождения. Малые восьмиконечные звезды символизируют единение двух культурных миров – Востока и Запада. + Абираҟ Аҧсны Аҳәынҭқарра абираҟ ашәага-загақәа - ауреи аҭбаареи 2:1 ҳәа аизыҟазаашьа рымоуп. Аш аураала аиаҵәеи ашкәакәа ҧшшәи рыла зҽеиҭнызыҧсахло ацәаҳәақәа ануп, урҭ рахьынтәи ҧшьба иаҵәоуп, хҧа – шкәакәоуп. Хыхьла актәии ҵаҟатәи аҵыхәтәантәии ацәаҳәақәа иаҵәоуп. Аиаҵәа-шкәакәа цәаҳәақәа – Аҧсны злахәылаз Ашьхаруатә республика (1918ш.) абираҟ аелементқәа ируакуп. Аиаҵәа ҧшшәы аҧсҭазаара иасимволуп, ашкәакәа – атәыла ҧхьаҟатәи аҧеиҧш бзиа. Хыхьтәи армарахьтәи акәакь аҟны абираҟ иануп ҧшшәахәыла иҟаҧшьу аҧшьыркца иаша, зоура абираҟ аура хыџьара ишаны хәҭак маҷк инеиҳау, зыҭбаара х-цәаҳәаки ираҟароу. Аҧшьыркца агәҭаны иарбоуп иаарту арҕьа маҿа шкәакәа. Анапы ахахьала иаҿыкәыршоуп хәба-хәба кәакьҭа змоу аеҵәа шкәакәақәа быжьба. Иаарту анапи аеҵәа шкәакәақәа быжьбеи Аҧсуа ҳәынҭқарра (VII-X ашә.) абираҟ иаҿырҧшуп. Аҟаҧшь – арратә фырхаҵара иасимволуп, иаарту амаҿа – аҭынчреи, агәаартреи, асасдкылареи ирсимволуп. Аҧшшәахәы ҟаҧшь ианубаало анапы шкәакәа – Аҧсуа аҳра аан аиҿкаара зауз, XII шәышықәса инареиҳаны изхыҵуа аҧсуа ҳәынҭқарра иасимволуп. Анапы ахахьы иану хә-кәакьҭак змоу абыжьеҵәак Аҧсны аҭоурых дгьылқәа быжьба ирдыргоуп: Саӡтәыла (Џьигеҭиа), Бзыҧ, Гәыма, Абжьыуа, Самырзаҟан, Дал-Ҵабал, Ҧсҳәы-Аибҕа. Дара ирыҵаркуан аҧсуаа ретникатә ҵакырадгьыл: аӡиас Хәасҭа (аубыхцәа рҳәаа ) инаркны аӡиас Егры (агырцәа рҳәаа) аҟынӡеи Амшын еиқәа аҟынтәи Кавказтәи ашьхақәа рҟынӡеи. Государственный флаг Республики Абхазия Государственный флаг Республики Абхазия является официальным государственным символом Республики Абхазия. Государственный флаг Республики Абхазия представляет собой прямоугольное полотнище. По его длине расположены семь чередующихся равных по ширине полос зеленого и белого цветов, из них четыре зеленых и три белых. Полосы начинаются с верхнего ряда, первая полоса зеленого цвета. В верхнем углу у древка флага расположен прямоугольник пурпурного цвета размером 0,38 длины флага и шириной в три полосы. В центре пурпурного прямоугольника вертикально расположена открытая ладонь правой руки белого цвета. Над ладонью полукругом расположены семь пятиконечных звезд белого цвета. Отношение длины флага к его ширине 2:1. Your browser does not support the audio element. + Агимн Аиааира - Аҧсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә гимнуп. 1992 шықәсазы Аҧсны ахьыҧшымра аназхаҵаха, ишьақәырҕәҕәан аҳәынҭқарратә гимн. С. Багаҧшь атәыла Ахадас иалхра ашьҭахь, жьҭаара 24, 2007 шықәса рзы, ахҧатәи аҧхьарала ирыдкылан “Аҧсны аҳәынҭқарратә Гимн азы” азакәанапроект. Аҧсуа Гимн шьаҭас иаиуит Қырҭтәылатәи Адемократиатә республика ар Аҧсны аоккәупациа аназыруз аамҭазтәи (1918-1921шш.) ашәа “Кьараз”. Аҧсны аҳәынҭқарратә Гимн официалла Аҧсны аҳәынҭқарратә символны иҧхьаӡоуп, закәанла иарбоу аҭагылазаашьақәа раан инарыгӡо музыкатә-поезиатә рҿиамҭоуп. Аҧсны аҳәынҭқарратә Гимн ишәыршәаны иақәырҕәҕәоу амузыкатә редакциеи атексти ирықәыршәаны инагӡазароуп. Гимн Республики Абхазия Шәнеибац, шәнеибац, Аҧсуаа рыҷкәынцәа. Аҧсны азыҳәан Ашьа казҭәаз, Аҧсуаа рыҷкәынцәа. Ахақәиҭраз Ашьа казҭәаз, Аҧсуаа рыҷкәынцәа. О-ҳо-ҳо-о ҳо-о-Рада О-ҳо-ҳо-о ҳо-о-Рада-Ра! Ажәҩан мрадоуп, еҵәадоуп Уара уда Аҧсынра! Еҵәa-бырлаш Аҧсынтәла, Улҧха згәаҵақәа ирҭыҧхо, Геи-шьхеи рыҧшӡара зыҧшнылаз. Жәлар ламысла иҳаракоит. Рада, Раида, Рарира Рада, Рерама, Рерашьа. Нарҭаа риирa-зиироу Афырхацәа Ран-Гуашьа Аҧсынтәыла-иҧшьоу атәыла Зхы здиныҳәалаз Анцәа Зқьышықәасала имҩасхьо гылан Рыжәаҩа еибырҭоит уҧацәа. Шәнеибац Аҧсныжәлар! Аишьцәа, шәнеибац! Нхыҵ-аахыҵ ҳаицуп! Ҳазшаз илаҧш Ҳхыуп иаҳхымәо Ҧеҧш лаша ҳзышуп! Шәнеибац, Аҧсныжәлар, Игылеит ҳамра, Иақәым ҭашәара! Урылагәыргьа, Анра-аҳшара Шьардаамҭа, Аҧсынра! © 2018 - 2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыратә Еимадара Агентра | Агентство Правительственной Связи Республики Абхазия. |
https://apsny.land/flag
2024-02-26T03:52:48Z
<urn:uuid:6cf9f9ea-5f28-402f-a94f-0783a24f0acd>
[ "footer", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.59
0.78
0.99
54
13,869
tlsh:T138D95D52CD80DB4BD2B3D55A8B514E256DE1691782227272CEC0F8612687094EFFCC13BAB4D8569EA8EB4201E113FA04BE0DFDEA55FDBFE7311600642D3E79D6238436D69F
Мамука Мдинараӡе - 38 ҳәынҭқарра, урҭ рыбжьара Қырҭтәылагьы, Гаагатәи аӡбарҭа адҵаалеит Урыстәыла арратә ацәгьоурақәа рыҭҵаара иазкны, Путин иганахьала ақәҵара аҭыжьрагьы ари иалҵшәоуп - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Мамука Мдинараӡе - 38 ҳәынҭқарра, урҭ рыбжьара Қырҭтәылагьы, Гаагатәи аӡбарҭа адҵаалеит Ур... Иҵегь аҭагалара Мамука Мдинараӡе - 38 ҳәынҭқарра, урҭ рыбжьара Қырҭтәылагьы, Гаагатәи аӡбарҭа адҵаалеит Урыстәыла арратә ацәгьоурақәа рыҭҵаара иазкны, Путин иганахьала ақәҵара аҭыжьрагьы ари иалҵшәоуп 14:13, 19.03.2023 38 ҳәынҭқарра, урҭ рыбжьара Қырҭтәылагьы, Гаагатәи аӡбарҭа адҵаалеит Урыстәыла арратә ацәгьоурақәа рыҭҵаара иазкны, Путин иганахьала ақәҵара аҭыжьрагьы ари иалҵшәоуп, – асоциалтә каҭаҿы иҩит афракциа “Ақырҭуа гәахәҭәы” ахантәаҩы Мамука Мдинараӡе. „Афактқәа мацара: 2022 шықәса хәажәкыра 2 рзы аибашьра иалагеижьҭеи мчыбжьык ашьҭахь, адунеи 38 ҳәынҭқарра, урҭ рыбжьара Қырҭтәылагьы, Гаагатәи аӡбарҭа адҵаалеит Урыстәыла арратә ацәгьоурақәа рыҭҵаара иазкны, ари ахазырхара атәылақәа рацәаны ҟарымҵаӡеит, иаҳҳәап Молдова. Ааԥхьара шьаҭас аҭаны Гаагатәи аӡбарҭа аусԥшаара алагеит. Путин иганахьала ақәҵара аҭыжьрагьы ари иалҵшәоуп. Усҟан Қарҭ аҿагыларатә акциақәа мҩаԥысуан Қырҭтәыла анапхгара Украина иадгылом ҳәа… Усҟан ари амотив ала Қырҭтәыла иҟаз Украина ацҳаражәҳәаҩ дырхынҳәит…“ – иҩит Мамука Мдинараӡе. АПОЛИТИКА Гаагатәи аӡьарҭа Мaмукa Мдинaрaӡе 5 Еиҧшу Мамука Мдинараӡе - Қырҭтәыла ашәарҭа иҭагылан, атерактқәа рымҩаԥгара ахарадырҵон, Украина ацҳаражәҳәара аҳәамҭа иаанаго исзеилкаауам, аполитикатә шьаҭа ашәымҭан ҳәа, ари ахҭыс ҳҵәахыр акәызма? Мамука Мдинараӡе - Иахьатәи ихадоу ааԥхьара адеоккупациа ауп Гига Миқанаӡе ишааицҳаз, апарламенттә аиҳара алидер иҭыԥ Мамука Мдинараӡе ааникылоит Мамука Мдинараӡе – Атәыла ахада илдыруазароуп, лара Михаил Саакашвили ашьауҕа иқәылхыр, 2003-2012 шықәсқәа рзы иара иҟаиҵаз зегьы азы аҭакҧхықәра лхы адылҵоит Мамука Мдинараӡе иҳәамҭала, атәыла ахада лимпичмент апроцедура алагаразы 80 анапынҵақәа еизыргахьеит Мамука Мдинараӡе – Аимпичмент апроцедура алҵшәа шахылымҵуа аадыруеит Мамука Мдинараӡе ишааицҳаз, 5%-тәи алхратә бариер аларҟәра азҵаара амш аусхәаԥштә иалам Мамука Мдинараӡе – Ҳара акандидат астатус аиуразы аидгылара ҳалшароуп, уи ҳазынтәгьы иаҳзеиҧшхо аиааирахоит Мамука Мдинараӡе иҳәамҭала, Ауаажәларратә дырраҭара, ахатә биуџьет жәа наӡынак еиҵамкәа асахьыркыратәи, адокументалтәи, асериалтәи фильмқәа ирзоунашьҭроуп, апарламенттә аиҳара арҭ аҧсахрақәа ирыдгылоит Мамука Мдинараӡе - Аоппозициаа ргәы иалоуп Саломе Зурабишвили рпозициа инагӡаны ахьаалмырҧшыз Амш зеиҧшрахо 4° аҩ Қaрҭ Ах 6° аҧшь 9° Авалиута акурс $ USD 2.6562 0.004 € EUR 2.8820 0.006 ₽ RUB 0.028893 0.017 £ GBP 3.3686 0.006 TOP 5 Европатәи 20 тәыла рлидерцәа иахьа Париж, Украина азҵаара иахцәажәоит Илиа Дарчиашвили – Агәра ганы ҳаҟоуп жәларбжьаратәи ауаажәларра рпозициа ҕәҕәа ахадаратә ҵакы шамоу Урыстәыла ахатә ҧхықәрақәа нагӡаны Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҟынтә ахатә бџьармчқәа алнагарц азыҳәан Атапанчала ахысразы Қырҭтәыла аизга Европа ачемпионс иҟалеит – #1TVSPORT Роберт Фицо – НАТОи Евроеидгылеи Украинаҿ арбџьармчқәа рыргылара азҵаара иахәаҧшуеит Қырҭтәыла VS Сербиа Актәи аканал аҿы - итәу "Қарҭтәи аренаҿ" арекордсен Гьаргь Цинцаӡе амҵәышәмпыд аҟынтә днаскьаргоит #1TVSPORT
https://1tv.ge/lang/ab/news/mamwka-mdinaradze-38-hmn%D2%ADqarra-wr%D2%AD-rmbzh%D1%8Cara-qmr%D2%ADtmlag%D1%8Cm-gaagati-adzbar%D2%ADa-adcaaleit-wrmstmla-arrat-atcg%D1%8Cowr/
2024-02-27T13:04:17Z
<urn:uuid:25ef9dd9-435a-4606-b0c6-5eb2a63e9140>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.61
0.95
51
6,176
tlsh:T1A2E092D16944DB4BC573C4A9CB508A361DC1694B9332B170CD99F975124605DEBFDE03D9EAEC0A4E70EB1812C162BB012A09FCE9297DBBDB715600D56D3E38E9279832CADE
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Иира амш идиныҳәалеит аԥсны Аҳәынҭқарра ҳаҭыр зқәу атәылауаҩ, УА Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума I, II, IV ааԥхьарақәа рдепутат, аиуристтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Сергеи Бабурин. Адныҳәалараҟны иҳәоуп: «Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит 65-шықәса шәхыҵра! Шәара шәызнысыз аԥсҭазааратә мҩақәа иааидкыланы, Урыстәыла амаҵ аура, ажәлари аҳәынҭқарреи ринтересқәа рыхьчара иазкуп. Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Шәара шәырдыруеит ҳтәылақәа рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырҿиара иадгылоу аӡә иаҳасабала. Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит Аԥсны аҳәынҭқарратәра арӷәӷәара азҵаарақәа рзы ԥсахра змам шәпозициа. Ишәымоу аҳәынҭқарратә хәыцреи атәылауаҩратә фырхаҵареи аԥхьаҟагьы шәхықәкқәа рынагӡараҟны ицхыраагӡаны иҟазааит. Гәык-ԥсык ала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ахирра шәҭаацәараҟны, еицакра зқәым агәамч шәнапы злашәкуа аусқәа рыҟны!».
https://parlamentra.org/ab/novosti/4385.html
2024-02-24T13:53:42Z
<urn:uuid:2e196700-d81b-4365-9376-84d7f895b9b3>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
0.99
7
1,695
tlsh:T1B0856F3112809B8BD673D0998A828E3669C0A80212627AB0CECDF070175205DEFECD03EAAAE5114B38DB1660C4537E11B54EEEE5697D6ED3709114F03D3F7CE9376836D2EE
Ап,сны ажурналистцәа Реидгыла ареспублика зҽаҧсазтәыз ажурналист Елеонора Барцыцп,ҳа лиубилеи лыдырныҳәалоит! Елеонора Константин-ип,ҳа 50 шықәса инарзынаҧшуа аус луеит Ап,суа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәра аҟны. Абри аамҭа иалагӡаны лџьабаа здылҵахьоу зыгь рахьынтә ихадараӡоуп ҳәа иалкаатәуп Ап,суа радио амузыкатә редакциа аиҿкаареи аҧсуа музыкатә фонд аҧҵареи. Лылшарақәа рзылкуан иара убас алитература-музыкатә дырраҭарақәа рымҩаҧгара. Аҧсуа радио ахьтәы фонд иахәҭакны иҟоуп аҧсуа шәҟәыҩҩцәеи, акомпозиторцәеи, ашәаҳәаҩцәеи, артистцәеи алархәны иаҧҵаз лдырраҭарақәа. Елеонора Барцыц «Аҧсуа жәлар рашәа иазкыу ажәабжьқәа» ҳәа хьӡыс измоу ашәҟәы авторцәа дыруаӡәкуп. Акыршықәсазтәи лҵшәабзиалатәи лусуразы илыхҵоуп Аԥсны зҽап,сазтәыз акультура аусзуҩи Ап,сны зҽаԥсазтәыз ажурналисти ҳәа аҳаҭыртә хьыӡқәа. Елеонора Константин-ип,ҳа илзеиӷьаҳшьоит агәабзиара зҩыда, лусураҿы арҿиаратә еихьӡарақәа, аманшәалара, ажәабжь бзиақәа!
https://sj-ra.info/adny-alara/
2024-03-04T08:25:25Z
<urn:uuid:c04250ae-b41b-4496-b156-d134852abcc8>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
1
5
1,733
tlsh:T1F353A5319D00CAAFD9B3D18989824E2768D0541BC3237721CEC5F1F1169315CEEFCC23BDFEE80546B4EB4620C165AA186E8EECD989BDBAD3315804201A2F38FB13143AD59E
Европейский Союз в действии: работая на благо более безопасной Европы и более стабильного мира (субтитры на абхазском) Один день из жизни наблюдателя (субтитры на абхазском языке) Аимадара Аус ҳуеит ашәарҭадареи, агәрагареи аиҭашьақәыргыларазы Ҳара Евроеидгыла абџьар змам ауаажәлартә анаҧшратә миссиа ҳауп. 2008 шықәса цәыббра мзазы, Евроеидгыла абжьаҟазарала аибашьра аҟәыҵра иазкны аиқәшаҳаҭра рнапы анаҵарыҩы аамышьҭахь ҳара ҳмиссиа арахь&nbsp;иаашьҭын. Аҧыҧшра 24/7 Амиссиа ахатәы аусура 2008 шықәса цәыббра мза ианалага инаркны, ҳара инаҳагӡоит 24 сааҭтәи аҧыҧшра, иҷыдоу азҿлымҳара, Аахыҵ Уаҧстәылеи, Аҧсни административтә ҳәаақәа рзааигәаратә аҭыҧқәа ираҳҭоит, Европатәи аполитика иазааигәоу аилазаашьақәа Қырҭтәылеи, арегиони рҿы рхатәы политика ашьақәыргылараҿы ацхыраара раҳҭоит. Аибашьратә хҭысқәа рырҿыцра аҽацәыхьчара Ҳара ҳприоритетқәа аибашьратә ахҭысқәа рырҿыцра аҽацәыхьчара ацхыраара аҭареи, Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи администрациатә цәаҳәа азааигәара инхо ауаа ибзиоу аҧсҭазаара рзышьақәыргылареи, еиҿагылоу аганқәа рыбжьара агәрагара аиҭашьақәыргылареи, Қырҭтәылеи, арегиони ирызкны Европатә аполитикатә ҳәаақәҵаратә аилазаашьақәа адырра рыҭара. Аганқәа рыбжьара адырраҭара аиҭныҧсахлара Аидыслара ма ашәарҭадара иазку, ма егьырҭ азҵаарақәа цәырҵыр, ҳара аҭагылазаашьа аилкааразыи, аибарххара ма аиҿыхара аҽацәыхьчарази ацхыраара раҳҭоит аганқәа адырраҭара аиҭныҧсахлараҿы. English / ქართული / Русский / Ирон / Аҧсуа / հայերեն / Azərbaycan / Ихадоу Ҳара Евроеидгыла абџьар змам ауаажәлартә анаҧшҩцәа рмиссиа ҳауп. Ҳара ҳмиссиа 2008 шықәса цәыббра мзазы, Евроеидгыла абжьаҟазарала фпункт иҟоу аиқәшаҳаҭра рнапы анаҵарыҩы аамышьҭахь арахь ҳаашьҭын. Ҳара ҳприоритетқәа: Аибашьратә ахҭысқәа рырҿыцра аҽацәыхьчара ацхыраара азура; Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи администрациатә цәаҳәа аҩганк азааигәара инхо ауаа ршәарҭадареи, ибзиоу аҧсҭазаара рзышьақәыргылареи; Еиҿагыло аганқәа рыбжьара агәрагара аиҭашьақәыргылара; Қырҭтәылеи, арегионқәеи ирызку Европатәи аполитика аҳәаақәҵаратә аилазаашьақәа адырра рыҭара. Амиссиа аусура анагӡара ианалага инаркны инанагӡоит 24 сааҭтәи аҧыҧшра, иҷыдоу азҿлымҳара Аахыҵ Уаҧстәылеи, Аҧснытәи административтә ҳәаақәа рзааигәаратә аҭыҧқәа ирзыруеит. Амиссиа аҟны 200 ҩык анаҧшҩцәа аус руеит Евроеидгыла иалахәу еиуеиҧшым атәылақәа рҟнытә. Ҳара ҳофис хада Қарҭ иҟоуп, егьырахь арегионалтә аофисқәа – Гори, Мцхеҭеи, Жәыргьыҭи. Ҳара ҳмандат амч амоуп Қырҭтәыла аҵакырадгьыл зехьынџьара. Аха Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи де-факто аиҳабыра ахаҭарнакцәа иахьанӡагьы дара зхылаҧшуа аҭыҧқәа рахь анеира азин ҳарҭом. Ҳара Евроеидгыла абџьар змам ауаажәлартә анаҧшҩцәа рмиссиа ҳауп. Ҳара ҳмиссиа 2008 шықәса цәыббра мзазы, Евроеидгыла абжьаҟазарала фпункт иҟоу аиқәшаҳаҭра рнапы анаҵарыҩы аамышьҭахь арахь ҳаашьҭын. Ҳара ҳприоритетқәа: Аибашьратә ахҭысқәа рырҿыцра аҽацәыхьчара ацхыраара азура; Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи администрациатә цәаҳәа аҩганк азааигәара инхо ауаа ршәарҭадареи, ибзиоу аҧсҭазаара рзышьақәыргылареи; Еиҿагыло аганқәа рыбжьара агәрагара аиҭашьақәыргылара; Қырҭтәылеи, арегионқәеи ирызку Европатәи аполитика аҳәаақәҵаратә аилазаашьақәа адырра рыҭара. Амиссиа аусура анагӡара ианалага инаркны инанагӡоит 24 сааҭтәи аҧыҧшра, иҷыдоу азҿлымҳара Аахыҵ Уаҧстәылеи, Аҧснытәи административтә ҳәаақәа рзааигәаратә аҭыҧқәа ирзыруеит. Амиссиа аҟны 200 ҩык анаҧшҩцәа аус руеит Евроеидгыла иалахәу еиуеиҧшым атәылақәа рҟнытә. Ҳара ҳофис хада Қарҭ иҟоуп, егьырахь арегионалтә аофисқәа – Гори, Мцхеҭеи, Жәыргьыҭи. Ҳара ҳмандат амч амоуп Қырҭтәыла аҵакырадгьыл зехьынџьара. Аха Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи де-факто аиҳабыра ахаҭарнакцәа иахьанӡагьы дара зхылаҧшуа аҭыҧқәа рахь анеира азин ҳарҭом.
https://eumm.eu/ab/new_media_gallery/bwrbvox_cn7byxtja
2024-02-22T06:37:04Z
<urn:uuid:0138e4cc-5743-4610-9eaf-6626dc2bdabb>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.85
0.99
27
6,705
tlsh:T1B51D2AD14544CB4BC173D4A9CA818F386CE26D578212B270CD8EF5B21685059EFFCC139ABAE8015B70EB1911D121BF10690AECDA687DBBE7B04240B65E3E7CDD276576C5AE
Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы раԥхьатәи Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ, иахьазы Таџьикистан Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩыс иҟоу Семион Григориев Инал Арӡынба идиныҳәалеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра 30-шықәса ахыҵра аныҳәамш. 18.05.2023 208 Аминистр имҩаԥиго аиԥыларақәа Инал Арӡынба Аԥсны иҟоу Ареспублика Никарагуа аконсулра даҭааит 2023 шықәса лаҵара 18 азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба даҭааит Аԥсны иҟоу Ареспублика Никарагуа Аҳаҭыртә Консулра, Ареспублика Никарагуа амилаҭтә фырхаҵа Аугусто Сандино диижьҭеи 128-шықәса аҵра инамаданы. 18.05.2023 127 Аминистр имҩаԥиго аиԥыларақәа Денис Монкадеи Инал Арӡынбеи реиԥылара мҩаԥысит Лаҵара 18 азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Аԥсни Никарагуеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рхадацәа реиԥылара. 18.05.2023 213 Сергеи Лавров Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра 30 шықәса ахыҵра Амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит 2023 шықәса лаҵара 17 азы Адәныҟаполитикатә усбарҭа ахьӡала адныҳәалара ааишьҭит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров. 17.05.2023 138 Аԥсны адәныҟаполитикатә усбарҭа аԥҵара 30-шықәса ахыҵра Ауснагӡатәқәа хацыркын 1992-1993шш. рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рмемориал аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵарала. 17.05.2023 223 Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр адипмаҵзура аусзуҩцәа аусбарҭа 30 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа, иахьа иазгәаҳҭоит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра 30 шықәса ахыҵра амш. 16.05.2023 139 Аслан Бжьаниа Одиссеи Бигәаа ихиҵеит Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи ацҳаражәҳәаҩ ихьӡ Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи ацҳаражәҳәаҩ ҳәа Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа ахьӡ ихҵаразы аусԥҟа. 16.05.2023 144 Аслан Бжьаниа Иракли Ҭыжәба ихиҵеит Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи ацҳаражәҳәаҩ ихьӡ Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи ацҳаражәҳәаҩ ҳәа Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба ахьӡ ихҵаразы аусԥҟа. 16.05.2023 183 2023 шықәса лаҵара 16 азы имҩаԥысит Инал Арӡынбеи Ахсар Џьиоеви реиԥылара Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыдәныҟаполитикатә хылаԥшырҭақәа рхадацәа Инал Арӡынбеи Ахсар Џьиоеви реиԥылара. 16.05.2023 123 Аминистр имҩаԥиго аиԥыларақәа Венесуела ацҳаражәҳәаҩ Аԥсны ААР ахада агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит Лаҵара 16 азы Венесуела ахьӡала Урыстәылеи Аԥсни рыцҳаражәҳәаҩ ҿыцс иаҭоу Хесус Рафаель Саласар Веласкес Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба агәраргагатә шәҟәқәа рыхкьыԥхьаа ииҭеит. 04.05.2023 146 Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахада жәларбжьаратәи аиҿкаақәа рнырразы иабжьгаҩ Мартин Ҭаркьыл истатиа Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Иеиҳабыратәым Жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа русура аҳәынҭқарратә ҭышәныртәалара ахымԥадара 03.05.2023 211 Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистра ахҳәаа Жәларбжьаратәи Иеиҳабыратәым аиҿкаарақәеи ООН амаҵзурақәеи рыпроектқәеи рыпрограммақәеи рынагӡашьа ахылаԥшра аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистра Аԥсны иҟоу ООН аҿиара апрограмма (ПРООН) аофис ахь ахада иԥыларазы азыҳәа ҟанаҵеит. Азыҳәа аҭакс аминистррахь ашәҟәы аашьҭын «аполитикатә ҩаӡарала аиԥылара акәымкәа иахәҭоу аинформациа аиуразы альтернативтә формақәа ԥшаазарц». 29.04.2023 218 Инал Арӡынба далахәын Ахырхарҭарацәара иазку аглобалтә конференциа 2023 шықәса мшаԥы 29 азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба далахәын онлаинла имҩаԥысыз Ахырхарҭарацәара иазку аглобалтә конференциа онлаин-формат ала. 27.04.2023 137 Ацҳаражәҳәарҭақәа иазкыу Заур Ӷәаџьаа TELESUR ахада Патрисиа Вильегас дылԥылеит 2023 шықәса мшаԥы 26 азы имҩаԥысит Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьааи аилахәыра TELESUR ахада Патрисиа Вильегаси реиԥылара. 06.04.2023 214 Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 57-тәи рраунд мҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аделегациа алахәын Женева 2023 шықәса мшаԥы 4-5 азы имҩаԥысуаз Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 57-тәи рраунд. Аԥсни Қырҭтәылеи рхаҭарнакцәа рнаҩс иалахәын Аахыҵ Уаԥстәылеи, Урыстәылеи, Еиду Америка 05.04.2023 187 Инал Арӡынбеи Денис Монкада Колиндреси онлаин еиԥылара рыман 2023 шықәса мшаԥы 4 азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Ареспублика Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Монкада Колиндреси онлаин еиԥылара рыман. 04.04.2023 174 Ацҳаражәҳәарҭақәа иазкыу Инар Ладариа ауснагӡатә ихы алаирхәит Хәажәкыра 29 азы Амилаҭрацәатә ҳәынҭқарра Боливиа Ацҳаражәҳәарҭа анаԥхьарала Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны азинмчра нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа ихы алаирхәит амшын Амш 144 шықәса ахыҵра иадҳәалоу ауснагӡатә. 04.04.2023 222 Ацҳаражәҳәарҭақәа иазкыу Алхас Кәыҵниа Владимир Путин агәраргагатә шәҟәқәа ииҭоит Урыстәыла, Москва, Кремль Азал ду аҟны азинмчнагӡеи аҷыдалкаамчреи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа 2023 шықәса мшаԥымза 5 рзы Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин агәраргагатә шәҟәқәа ииҭоит. 04.04.2023 193 Авизитқәеи аусутә ныҟәарақәеи рзы аинформациа Инал Арӡынба Москваҟа дцеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рактуалтә зҵаарақәа рылацәажәаразы усутә визитла Москваҟа дцеит. 30.03.2023 163 Женеватәи аиҿцәажәарақәа Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыламҭалаз Урыстәыла ААР аҟны аилацәажәарақәа мҩаԥысит Хәажәкыра 30 азы Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузини Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәбеи реиԥылара. Аԥснытәи Аган ахь ала аиԥылара далахәын Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа.
http://mfaapsny.org/allnews/?PAGEN_1=9
2024-02-22T11:46:29Z
<urn:uuid:59447cc3-3ee7-492b-a239-d5e96f760a00>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.92
0.82
1
49
10,061
tlsh:T163F4B7227A40DB8BCA73E0188AA2D8359DC068579270B671CF95F5B0270214DEBFCD13E2F6AC158A389B1922D7527F055B4EFCEA25BD7FC7319200A56E2E34E9279476D2CE
Абар иааит аҵарашықәс ҿыц аҽазыҟаҵара аамҭа. Ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа рзы ари аамҭа ирызцәырнагоит имаҷымкәа ахарџьқәа. Цәыббра 1 аламҭалаз, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнагеит афонд еснагьтәи апроектқәа ируаку- апроект «Агәыразра». Афонд ахь инашьҭыз арзаҳалқәа рҟнытә иалхын ҩажәаҩык, зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҭаацәарақәа рҟынтә аҵаҩцәа. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусзуҩцәа ахәыҷқәеи рҭаацәеи ирыцны иаҭааит Аҟәа ақалақь адәқьанқәа руак. Уаҟа ирзаархәеит ашколтә шәҵатәымаҭәеи, иар убас аҵараҿы рхы иадырхәаша амаҭәарқәеи. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сонер Гәогәуа аҵаҩцәа ирыдиныҳәалеит аҵарашықәс ҿыц, иара убас ирзеиӷьеишьеит ақәҿиарақәа.
http://fondapsny.org/ab/khazhakhyk-attsakhca-achyraara-rytoup
2024-02-21T10:54:17Z
<urn:uuid:aba13130-d269-4b4d-b81b-839fef510743>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
0.99
3
1,252
tlsh:T1785583214844CB4BCA37C489DBD1883668C0A84255726220CFDDB47952010ADFBFCC22EDF7EA0989A0FB0116D2546A625A4AFCDC753C7BD3225240A17D3F34ED2B6979D89E
Европейский Союз в действии: работая на благо более безопасной Европы и более стабильного мира (субтитры на абхазском) Один день из жизни наблюдателя (субтитры на абхазском языке) Аимадара English / ქართული / Русский / Ирон / Аҧсуа / հայերեն / Azərbaycan / Ихадоу Ҳара иҳазкны Амандат Амандат Ҳара Евроеидгыла абџьар змам ауаажәлартә анаҧшҩцәа рмиссиа ҳауп. Ҳара ҳмиссиа 2008 шықәса цәыббра мзазы, Евроеидгыла абжьаҟазарала фпункт иҟоу аиқәшаҳаҭра рнапы анаҵарыҩы аамышьҭахь арахь ҳаашьҭын. Ҳара ҳприоритетқәа: Аибашьратә ахҭысқәа рырҿыцра аҽацәыхьчара ацхыраара азура; Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи администрациатә цәаҳәа аҩганк азааигәара инхо ауаа ршәарҭадареи, ибзиоу аҧсҭазаара рзышьақәыргылареи; Еиҿагыло аганқәа рыбжьара агәрагара аиҭашьақәыргылара; Қырҭтәылеи, арегионқәеи ирызку Европатәи аполитика аҳәаақәҵаратә аилазаашьақәа адырра рыҭара. Амиссиа аусура анагӡара ианалага инаркны инанагӡоит 24 сааҭтәи аҧыҧшра, иҷыдоу азҿлымҳара Аахыҵ Уаҧстәылеи, Аҧснытәи административтә ҳәаақәа рзааигәаратә аҭыҧқәа ирзыруеит. Амиссиа аҟны 200 ҩык анаҧшҩцәа аус руеит Евроеидгыла иалахәу еиуеиҧшым атәылақәа рҟнытә. Ҳара ҳофис хада Қарҭ иҟоуп, егьырахь арегионалтә аофисқәа – Гори, Мцхеҭеи, Жәыргьыҭи. Ҳара ҳмандат амч амоуп Қырҭтәыла аҵакырадгьыл зехьынџьара. Аха Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи де-факто аиҳабыра ахаҭарнакцәа иахьанӡагьы дара зхылаҧшуа аҭыҧқәа рахь анеира азин ҳарҭом.
https://eumm.eu/ab/about_eumm/mandate/
2024-02-23T12:30:56Z
<urn:uuid:c3481703-66f8-4867-9621-54e3ae20ad91>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.8
0.64
0.97
14
2,519
tlsh:T1F008EC515584CB4BC1B3D4A9CA814F346CE2695382117671DD8EB8B21185059EFFCC139ABEE8011BB0EB1911D222BF00690AECDA687DBBE7B04210B16E3E39D9235576C56E
Михеил Саакашвили - Украина "Бук" асистема ахьарымҭо ԥхашьароуп, ахада Иушьенко ицхыраарала ианаамҭаз уи ахә мариала аҳхәеит - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Михеил Саакашвили - Украина "Бук" асистема ахьарымҭо ԥхашьароуп, ахада Иушьенко ицхыраарал... Иҵегь аҭагалара Михеил Саакашвили - Украина "Бук" асистема ахьарымҭо ԥхашьароуп, ахада Иушьенко ицхыраарала ианаамҭаз уи ахә мариала аҳхәеит 15:09, 10.01.2023 Украина “Бук” асистема ахьарымҭо ԥхашьароуп, ахада Иушьенко ицхыраарала ианаамҭаз уи ахә мариала аҳхәеит, – иануп Қырҭтәыла ԥасатәи ахада Михеил Саакашвили “Феисбук” идаҟьаҿ. “Украина Ианукович данааи, Иушьенко иҿагыланы ашьаус хацыркын “Бук” Қырҭтәыла ахьаиҭаз азы, ари Урыстәыла адҵала ҟаиҵеит ҳәа. “Бук” ахархәара ҳзырҵаз аинструктор, аполковник Мамчур Урыстәыла агентцәа 2017 шықәсазы жыршьит. Уажәы Украина Американтә “Бук” азы аракетақәа рацәаны арҭеит. Ари ашьаҿала украинаа мацара акәым, америкаагьы мап раҳҳәеит. Ари ачарҳәароуп, абри еиԥш ачарҳәара аепизодқәа Қырҭтәылеи Украинеи реизыҟазаашьақәа рҭоурых аҿы ашәыта хьанҭас аанхоит”, – иазгәеиҭеит Саакашвили. Қырҭтәыла иҟоу Украина аамҭалатәи ахаҭарнак Андреи Касианов истатиаҿ ишану ала: “Украина 2088 шықәсазы Қырҭтәыла анаҭаз “Бук” асистемеи ЕАШ аҟынтә Қырҭтәыла аиуиз “Џьавелинқәеи” рырхынҳәра аҳәеит. Қырҭтәыла атәылахьчара аминистрра “Бук” аҳауатә хыхьчаратә системақәеи “Џьавелинқәеи” ирызкны аҳәамҭа аланарҵәеит. Аминистрра аинформациа ала, Украина Қырҭтәыла ҳамҭас “Бук” ахауатә хыхьчаратә система анаҭеит ҳәа адырра ииашам. Аусҳәарҭа аҟынтә ишаарыцҳаз ала, 2017 шықәсазы ирацәны амиллион доллар иршәеит ЕАШ атанкҭархагатә система “Џьавелин” анаархәаз. АПОЛИТИКА БУК Михеил Сaaкaшвили украина 2 Еиҧшу Афермерцәа рпротест амзызла, Украинеи Польшеи рҳәааҿ иҟоу оужьҭратә пунктқәа зегьы аибаратә машьынақәа рзы аркуп Германтәыла арратә чынуаа реиҿцәажәара анҵамҭа аурыс журналистцәа рнапаҿы иҟалеит, германтәыла ари афакт азы аусеилыргара иалагеит Афранцыз медиа – Франциа аиҳабыра аотриад ҷыдеи арратә хәҭақәеи Украина аҳәаа ахысра азин рыҭара алшара иахәаҧшуеит CNN – Пентагон Украина ацхрааразы арезерв аҟынтә 4 миллиард адоллар ахархәара азҵаара иахәаҧшуеит Пентагон анапхгара ишаарыцҳаз ала, Америка Украинаҟа арбџьармчқәа рдәықәҵара ргәы иҭам Еммануель Макрон - Мраҭашәаратәи тәылақәа Украинашҟа ар рышьҭразы аконсенсус ирымаӡам, аха наҟ-наҟ иҟало аӡәгьы издырӡом Украина Германтәылантә ацхыраара апакет ҿыц аиуит Роберт Фицо – НАТОи Евроеидгылеи Украинаҿ арбџьармчқәа рыргылара азҵаара иахәаҧшуеит Европатәи 20 тәыла рлидерцәа иахьа Париж, Украина азҵаара иахцәажәоит Қарҭтәи ателебааш Украина абираҟ аҧштәқәа рыла ирлашоуп Амш зеиҧшрахо 12° ашә Қaрҭ аҩ 15° Ах 16° Авалиута акурс $ USD 2.6596 0.001 € EUR 2.8745 0.010 ₽ RUB 0.029106 0.018 £ GBP 3.3596 0.009 TOP 5 Ингушетиатәи ақалақь Карабулак кыаамҭалатәи бџьаршьҭыхлатәи аидыслара ашьҭахь, иршьит фҩык аибашьцәа Мака Боҷоришвили Европарламент аҿы аиԥыларақәа лыман Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз, Ҟрымтәи адгьылбжьахабжьа аганахьала адронқәа рыла ажәылара мҩаԥган, урыстәылатәи аҳирхьчаратә мчқәа 38 дрон карыжьит
https://1tv.ge/lang/ab/news/mixeil-saakashvili-wkraina-bwk-asistema-ax%D1%8Carmm%D2%ADo-%D4%A5xash%D1%8Carowp-axada-iwsh%D1%8Cenko-itcxmraarala-ianaam%D2%ADaz-wi-ax-mariala-ahxeit/
2024-03-04T02:50:36Z
<urn:uuid:c90b962e-eae0-4e8d-9477-e757ef132457>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.89
0.6
0.95
48
5,904
tlsh:T1A9FAFBC18840D70BC5B3C1589B918B362C917C0B5762B260CDC9F975164616EEFFCD03AAFEED454E20DB0A22D562BF016A0ABCEB24BDBBC7719300D06D2E38E9279476C66D
Ашықәс ҿыц аламҭалаз "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" имҩаԥнагеит идуу, Аԥсны ареабилитациатә центрқәа зегьы изхылаԥшуа ахәыҷқәа рыцхыраара иазку ашықәсҿыцтәи акциа. Ҳара ҳҩызцәа хәыҷқәа - Аҟәа, Очамчыра, Гәдоуҭа, Гагра, Ҭҟәарчал, Гал ақалақьқәа рхәыҷтәы реабилитациатә центрқәа рҟны изхылаԥшуа ироуит 600 инареиҳаны ашықәсҿыцтәи аҳамҭақәа. Арҭ, афонд аколлектив зегьы еизыргаз аҳамҭақәа агәахәара узҭо харҭәаагахеит ула хызкуа апрограмма аҟны. Иара убас ашықәс ҿыц аламҭалазтәи амшқәа рзы, ҳара ҳадныҳәаларақәеи, 180 ахаа-мыхаатә ҳамҭақәеи роуит ақыҭақәа Ҷлоу, Ҭхьына, Оҭаԥ, Ԥақәашь ашколқәа рҵаҩцәа, иара убас 1-тәи, 2-тәи Мықәтәи ашколқәа. Хәҭакахьала, Мықәтәи 1-тәи ашкол афонд еиқәнаршәеит арԥхагақәеи, ашықәсҿыцтәи аԥсаӡ зладырҩычо ахәмаргақәеи рыла. Ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аԥны" ахада - Сонер Гогәуа зегьы ирыдиныҳәалоит иааиуа 2020-тәи ашықәс ҿыц! Иаҳзааиуа ашықәс ҿыц ҳтәылеи, ҳауаажәлари иаҳзаанагааит акзаара, ақәҿиарақәа, аизҳазыӷьара, аманшәалара. Аҳра ауааит аилибакаара. Иҳаҩсуа ашықәс иагааит аиқәымшәарақәа, аиҿагыларақәа зегьы, ашықәс ҿыц иаҳзаанагааит абзиареи, аҭынчреи, абзиабареи.
http://fondapsny.org/ab/zhlarbzharati-afond-asny-ashykschycti-aproekt-hyrkshoup
2024-02-21T12:56:46Z
<urn:uuid:949e1a78-af0f-4b6c-ba6e-f13b1b228510>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
1
3
2,054
tlsh:T14F5A1741AB45D74FCA73C588DA518C3628C0880A5422A1308FDAF17623910ADEAECD12CAFBE90549319F0103E161B6215A8AFDE5353DBED731E350E15D2F39DE36A83196DE
1992 шықәса жьҭаара 7-8 рзы Лыхны ақыҭан имҩаԥысит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар I-тәи рконгресс. Аконгресс аусура рхы аладырхәит ихароу, иааигәоу аҳәаанырцә аҟынтәи адиаспора ахаҭарнакцәа, иара убас Ҟабардантә, Адыгатәылантә, Шаԥсыӷынтә, Абазашҭантә аделегатцәа. Ари ахҭыс лымкаала аҵак ду аман 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан аԥсуа жәлар ргәы ашьҭыхразы. Аҭоурыхтә ӡеибафара иахҟьаны шәышықәсеи бжаки раахыс еиҟәыҭханы иҟаз ажәлар еидгылеит, реиҳа иуадаҩыз, ашәарҭара зцыз аамҭа анырзыҟала. Владислав Арӡынба, Ибрагим Иаӷан (арымарахь ала) Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар I-тәи рконгресс аҟны, жьҭаарамза, 1992 шықәса © Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд Владислав Арӡынба Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар (абаза) I-тәи рконгресс аҟны, жьҭаарамза, 1992 шықәса © Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Игәыҳалалратә Фонд "Жәларбжьаратәи аҧсуа-абаза жәлар рконгресс аҧҵара харахәыцра зныҧшуаз, ииашаз шьаҿахеит Аҧсны аҭоурых аҿы ихьанҭаз 1992 шықәсазы. Аконгресс зҭоурыхтә ҧсадгьыл аҿы инхоз аҧсуааи ашәуааи аҳәаанырцәтәи рашьцәеи еиднакылеит, аӷа иҿагыланы ақәҧараҿы абас аидгылара аазырҧшыз амилаҭ – зегь реиҳа иӷәӷәаз хыхьчаган" Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза крнгресс VII-тәи Аизара ду аҟны Тарас Шамба иқәгылара аҟынтә Аконгресс аҟны ирыларҳәеит Абаза жәлар Адунеизегьтәи Рассоциациа шаԥҵахо. Иалырхит апрезидиум, аредакциатә комиссиа, иара убас апресс-маӡаныҟәгарҭа. Ассоциациа анагӡаратә комитет дахагылеит аиуристтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Тарас Шамба. "Адҵа ҟаҳҵоит Қырҭтәыла аҳәынҭсовет рымпыҵахаларатә архәҭақәа алҵырц, ҳазҭоу ашықәс цәыббра 24 рзы Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны аганахьала иаднакылаз Ақәҵара нагӡазарц, зынхарҭа ҭыԥқәа рҟынтә иқәҵыз ауааԥсыра хынҳәырц, иара убас Аԥсны аконституциатә мчра аусбарҭақәа русура еиҭалагаразы аҭагылазаашьақәа аԥҵазарц" Актәи Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар рконгресс Адекларациа аҟынтә Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза жәлар I-тәи рконгресс аҟны ирыдкылан адокументқәа жәпакы: Адекларациа, иара убасгьы аизара алахәцәа иҟарҵаз ааԥхьарақәа – ООН ахь, Кавказ ажәларқәа рахь, Урыстәыла ахадеи, Иреиҳаӡоу Асовети рахь – Қырҭтәыла иаҿагыло асанкциақәа ахархәара рзуны, Аҧсны аибашьра аанкылара иацхраарц азы аҳәара ҟаҵо. Left Right Аԥсуа-абаза жәлар Актәи Адунеизегьтәи Рконгресс астенограмма, иҭыжьуп Москва, 1993 шықәсазы © apsnyteka.org Аԥсуа-абаза жәлар Актәи Адунеизегьтәи Рконгресс астенограмма, иҭыжьуп Москва, 1993 шықәсазы © apsnyteka.org Аԥсуа-абаза жәлар Актәи Адунеизегьтәи Рконгресс астенограмма, иҭыжьуп Москва, 1993 шықәсазы © apsnyteka.org Аԥсуа-абаза жәлар Актәи Адунеизегьтәи Рконгресс астенограмма, иҭыжьуп Москва, 1993 шықәсазы © apsnyteka.org "Аҭоурыхтә ҧсадгьыл аҿы ҳҽеизакразы иҳамоу агәазыҳәара – иарбанзаалак ажәлар ирызцәырҵуа иҧсабаратәу гәазыҳәароуп, адунеи аҿы иазхарҵахьоу азеиҧщуаҩытәыҩсатә ҧҟарақәеи, ажәлар рзинқәеи, ауаҩы изинқәеи ирықәшәоит" Актәи Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар рконгресс Адекларациа аҟынтә Актәи Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар рконгресс Адекларациа аҟынтә © Аҧсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар I-тәи рконгресс аҟны Ҭырқәтәылантә аделегат иқәгылара аҟынтә © Аҧсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра I-тәи Аконгресс аделегатцәа аҳәамҭа ҟарҵеит аҧсуа-абаза милаҭ аиқәырхара алыршахоит ҳәа адиаспора ахаҭарнакцәа рҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь рырхынҳәра амҩала мацара. Убри аан иазгәаҭан ари апроцесс адунеи аҿы иазхаҵоу азинтә шьаҭала ишымҩаԥгалатәу. Абаза жәлар Адунеизегьтәи Рассоциациа, мамзаргьы нас ишашьҭаз ала Аҧсуа-абаза милаҭ (абаза) Жәларбжьаратәи Рассоциациа (урысшәала – МАААН) Анагӡаратә комитет раҧхьатәи аилатәара аилатәара мҩаҧысит Гәдоуҭа, жьҭаара 9, 1992 шықәсазы. Аилатәараҿы ирыдыркылеит Аҧҟаҧҵәа, уи ианыҧшуан Ассоциациа ахықәкы хадақәа: аҧсуа-абаза жәлар рмилаҭтә-культуратә акзаара аиҭашьақәыргылара; адиаспора ахаҭарнакцәа рхатә гәаԥхарала рҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь ихынҳәырц азы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раҧҵара; Аҧсны аекономикатә, асоциалтә, акультуратә ҿиара аҳәаанырцәтәи ҳџьынџьуаа ралархәра; ҵабыргыла иҟаҵәҟьаз аҭоурых ашьақәырӷәӷәара, аҧсуа-абаза (абаза) жәлар рмилаҭтә хдырреи, рҵас-қьабызқәеи реиқәырхара. "Зегь ҳаидгыланы, ҳаҧсадгьыл ҳахьчеит, аӷа хәымга ҳаииааит, наҟ дыҧхаҳҵеит" Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы Владислава Арӡынба иқәгылара аҟынтә, ԥхынгәы 24, 1994 шықәса, Аҟәа Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза жәлар I-тәи рконгресс алахәцәа ззыҳәоз ажәлар рконсолидациа Аԥсны ахақәиҭтәраҿы ароль ду нанагӡеит. Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны аиааира ҳгеит, абаза жәлар II-тәи Реизара ду мҩаҧысуан зхы иақәиҭу Аҧсны аҳҭнықалақь аҿы, 1994 шықәса, ҧхынгәымзазы. Left Right Ажурнал «Абаза» аҟынтә, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар II-тәи рконгресс © Наала Аҩӡԥҳа Ажурнал «Абаза» аҟынтә, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар II-тәи рконгресс © Наала Аҩӡԥҳа Ажурнал «Абаза» аҟынтә, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар II-тәи рконгресс © Наала Аҩӡԥҳа Ажурнал «Абаза» аҟынтә, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар II-тәи рконгресс © Наала Аҩӡԥҳа Ажурнал «Абаза» аҟынтә, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар II-тәи рконгресс © Наала Аҩӡԥҳа Ажурнал «Абаза» аҟынтә, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар II-тәи рконгресс © Наала Аҩӡԥҳа "Агәаҟрақәеи арыцҳара дуқәеи анырхырга ашьҭахь, Ҳазшаз аҧсуа жәлар ргәынқьбжьы иаҳаит, ахақәиҭра роуртә иҟаиҵеит, ҳашьҭра ҳмырӡырц, ҳаҧсадгьыл ҧшӡаҿы ҳкультура ҳарҿиаларц" Анкара инхо Исмеҭ Огәыз Акәыҿба (или Кәыџба – надо уточнить) иқәгылара аҟынтә, Ҭырқәтәыла, 1994 шықәса Урыстәыла, Европа, Мрагылара Ааигәа атәылақәа, Еиду Америкатә Штатқәа уҳәа рҟынтә 240-ҩык инареиҳаны аделегатцәа еизеит Аҟәеи Пицундеи имҩаԥысуаз афорум аҿы. Уажәшьҭа аусура ахырхарҭа хадақәас иалкаан аԥсуа-абаза етнос аиҭаира, иара убас адунеи иқәынхо ҳџьынџьуаа зегьы аԥсуа ҳәынҭқарра аргылара ралархәра. Аиҿкаара шазыхиоу аанарԥшит шәкы инареиҳаны адунеи атәылақәа ирыланхо ҳџьынџьуаа рхатәы бызшәа дырҵараҿы ацхыраара аҟаҵара. Ассоциациа анеиҿкааха раԥхьатәи ашықәсқәа ирылагӡаны иҭнажьит ашколқәреи, ашколнӡатәи ақәреи рахь иаҵанакуа ахәыҷқәа рзы аԥсуа лакәқәеи, ашәақәеи, ажәабжьқәеи реизгақәа, Ҭырқәтәыла имҩаԥысуаз аԥсуа бызшәа арҵаратә курсқәа шәҟәы-быӷьшәыла еиқәнаршәон. Ассоциациа аофисқәа аатит Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Германиа, Черқьесск, Иорданиа. Аԥсуа-абаза милаҭ жәларбжьаратәи рассоциациа аофис хада еснагь Аҟәа иҟан. Арепатриациа азҵаарақәа ирызкны Валери Ҳаҭажәыҟәа иқәгылара аҟынтә © Аԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра 1995 шықәса рашәарамза 2 рзы Аҟәа имҩаҧысит Жәларбжьаратәи аҧсуа-абаза милаҭ рассоциациа иҭнажьуа иалагаз ажурнал «Абаза» аӡыргара. «Абаза» актәи аномер ҭыжьын Аҧсуа ҭыжьырҭатә-полиграфиатә еилахәыра иатәыз Аҟәатәи атипографиаҿы, атираж хә-нызқь цыра ыҟан, уи зегьы Аҧсныи, аҳәаанырцәтәи ҳдиаспореи ирызшан. Left Right Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар рконгресс иатәу ажурнал «Абаза» актәи аномер © Наала Аҩӡԥҳа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс иҭнажьуа ажурнал «Абаза» аҟынтә © Наала Аҩӡԥҳа 1997 шықәса, нанҳәа 24 рзы Ҟарачы-Черқьессктәи Ареспублика аҳҭнықалақь Черқьесск имҩаҧысит Адунеизегьәи аҧсуа-абаза жәлар III-тәи рконгресс. Аконгресс аделегатцәа азҿлымҳара арҭеит аҧсшәеи абаза бызшәеи рыҿиара апроблема, акультура аиқәырхара, амилаҭтә хдырра аизырҳара, адунеи иқәынхо абаза жәлар реизааигәатәразы «ацҳақәа» рыхҵара. Left Right Ажурнал «Абаза» аҟнытә, Аконгресс III-тәи Аизара ду © Наала Аҩӡԥҳа Ажурнал «Абаза» аҟнытә, Аконгресс III-тәи Аизара ду © Наала Аҩӡԥҳа Ажурнал «Абаза» аҟнытә © Наала Аҩӡԥҳа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар IV-тәи рконгресс мҩаҧысит Аҟәа,цәыббра 23, 2003 шықәсазы. Владислав Арӡынба иазгәеиҭон Аконгресс қәҿиарала ажәлар реидкылара аус шынанагӡо, уи хықәкы хадасгьы ишамоу – азеиҧш доуҳатә, акультуратә, аполитикатә шьаҭа аҧҵара. 2006 шықәса, жьҭаара 6 рзы Аҧсуа-абаза милаҭ жәларбжьаратәи рассоциациа ООН амаӡаныҟәгаҩ хада Кофи Аннан иахь, уи ихьӡалагьы адунеижәларбжьара рахь ашәҟәы рышьҭит, аҧсуа репатриантцәа рҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь рырхынҳәра иадҳәалоу азҵаара аӡбара шаҭаху азы ааҧхьара ҟаҵаны. Ашәҟәаҿы иарбан, XIX-тәи ашәышықәса аҩбатәи азбжазы иҟаз Кавказтәи аибашьра иахҟьаны аҧсуааи ашәуааи мчыла рыдгьылқәа ишрыхцаз, уи ашьҭахь Аҧсныҟа ақырҭқәа ааганы ишнырхаз. «Ари ахҭыс хлымӡаах Аҧсны адемографиатә баланс шьақәнарҟьеит, шьаҭанкылагьы иаҧсахит, Қырҭтәыла аимпериатә амбициақәагьы аџьшьара рынаҭеит, уи иалҵшәаны аҧсуааи ақырҭқәеи рыбжьара ишьаарҵәыраз аибашьра ҟалеит», – аҳәоит адокумент. "Аҧсны – зегь еицаҳзеиҧшу ҩнуп. Ҳаидгыланы иҳарҿиароуп, иҳарӷәӷәароуп ҳҳәынҭқарра. Убас оуп ишҳарҳәоз ҳабдуцәа хазынақәа, убри анагӡароуп урҭ рҿаҧхьеи ҳнаҩсан игыло абиҧарақәа рҿаҧхьеи уалҧшьас иҳаду" Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь Адунеизегьәи аԥсуа-абаза жәлар V-тәи рконгресс аҟны иқәгылара аҿынтә 2006 шықәса, ҧхынҷкәын 14-17 рзы имҩаҧысит Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза жәлар рконгресс ахәбатәи аизара ду. Уи лозунгс иаман «Зхьыҧшымра азхаҵоу аҳәынҭқарра – аҧсуа милаҭ реиқәырхара шьагәыҭс иамоуп». Аизара иалахәын аҧсуа диаспора ахьынхо атәылақәа жәпакы рҟынтә аделегатцәа: Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Голландиа, Канада, Германиа, ЕАШ, Болгариа, Мысра, Марокко, Франциа уҳәа уб. иҵ. Афорума аделегатцәа адунеи ажәларқәеи адунеи апарламентқәеи зегь рахь ааҧхьара ҟарҵеит Аҧсны ахьыҧшымра азхарҵарц. Адунеизегьәи аҧсуа-абаза жәлар рконгресс V-тәи аизара ду. Аҧсны Аҳәынҭқарра ахада иааҧхьара © Наала Аҩӡԥҳа Адунеизегьәи аԥсуа-абаза жәлар рконгресс V-тәи аизара ду аҟны Ҭырқәтәылатәи аделегат Џьамалаҭҭин Арӡынба иқәгылара © Аԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра "Амамлҩыкцәа рхаантәи аамҭақәа инадыркны аҧсуаа нхон иахьа аҿиара бзиа змоу Ҭырқәтәылеи, Шьамтәылеи, Мысреи реиҧш иҟоу атәылақәа рҟны, хьыӡла-ҧшала, гәыкала арҭ аҳәынҭқаррақәа рымаҵгьы руан, урҭ рыҿиараҿгьы аҧсуаа ирыбзоуроу маҷым. Иахьа убарҭ аҧсуаа рхылҵшьҭрақәа азин наӡа рымоуп рабацәа ззааҧсоз атәылақәа реиҳабырақәа рахь ааҧхьара аҟаҵара, рҭоурыхтә ҧсадгьыл – Аҧсны алахьынҵа иазхьарҧшырц" Аԥсуа-абаза милаҭ Жәларбжьаратәи Рассоциациа амаӡаныҟәгаҩ хада Геннади Аламиа иинтервиу аҟынтә 2012 шықәса, мшаԥы 22 рзы анемец қалақь Гамбург аетнографиатә музеи анҟы Аҧсны амш мҩаҧысит, Кавказ атәылақәеи ажәларқәеи ирызку есышықәсатәи аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны. Амузеи аҭааҩцәа рзы иҟаҵан аҭҵаарадырратә ажәахәқәа, Аҧсны аҭоурыхи, аетнографиеи, аҧсуа бызшәеи, аҧсуа ҟазареи ирызкны. Аҧснытәи аделегациа напхгара аиҭон Аҧсуа-абаза милаҭ Жәларбжьаратәи Рассоциациа ахада Тарас Шамба, Ассоциациа аҧшьгаралоуп ари аус анагӡара шалыршахазгьы "Ҳара – етнографиатә музеиуп, иахьа ҳалаҧш ҳархеит ажәытәтәи ажәлари, урҭ рыҧсадгьыли рышҟа. Ҳара ҳус наҳагӡоит, иарбан тәылазаалак ацҳаражәҳәарҭа Аҧсны аӡбахә шаҳҳәаша ҳәа адҵаҟаҵара азин амам" Гамбургтәи Аетнографиа амузеи адиректор Вольф Кепке Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза жәлар VI-тәи рконгресс мҩаҧысит абҵара 22-25 рзы, Ассоциациа азы ииубилеитәыз 2012 шықәсазы. Уаҟа ҩажәашықәсазтәи Ассоциациа аусура аихшьалақәа ҟаҵан, хаҭалагьы иалкаан аџьынџьуаа рыбжьара аимадара шыӷәӷәахаз, еиуеиҧшым жәларбжьаратәи аилазаарақәеи, ҳдиаспора ахьынхо атәылақәа реиҳабыреи рҟны ишымҩаҧгаз аиҧыларақәа жәпакы. Left Right Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар VI-тәи рконгресс аҟны Ҟарачы-Черқьессктәи аделегат иқәгылара илахәыра © Аԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиое Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар VI-тәи рконгресс аҟны Ҭырқәтәылантәи аделегат Феридун Аҟәысба иқәгылара © Аԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиое Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар VI-тәи рконгресс иазку авидеорепортаж 2013 шықәса, рашәарамза 27 рзы Европарламент аҟны имҩаҧысит "Аҧсныи Европеи: аилибакаареи аизааигәахареи амҩақәа" ҳәа хьӡыс измаз аконференциа. Хыҧхьаӡара рацәала аконференциа иаҭааз аԥсуааи ашәуааи рделегациа дахагылан Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза милаҭ жәларбжьаратәи Рассоциациа ахада, академик Тарас Шамба. 2017 ҧхынҷкәын 7-9 рзы Аҟәа имҩаҧысит Аконгресс VII-тәи аизара ду, уи уажәшьҭа официалла иахьыӡхеит абас: Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза Конгресс (АААК). Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза Конгресс VII-тәи реизара ду. Ҟарачы-Черқьессктәи аҳәынҭқарратә телехәаԥшра арепортаж. Ԥхынҷкәын, 2017 шықәса "Ҳара хыҧхьаӡара рацәала аҟәшақәа раартра ҳгәы иҭоуп, Аконгресс аусура ҳажәлар ахьынхо аҭыҧқәа зегьы амҽханакырц азы, насгьы тәылацыҧхьаӡа, регионцыҧхьаӡа иара иаҳа ианалааша ҳәа ҳазхәыцны апрограмма аҧаҳҵоит, нас аусура ҳалагоит, уажәшьҭа хара имгакәа иааҳартуа Аинформациатә портал ҳацырхырааны" Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Мусса Екзеков иқәгылара аҟынтә, Аҟәа, ԥхынҷкәын, 2017 шықәса. Ари афорум аҟны, Аконгресс аҧҵоуижьҭеи 25 шықәса раахыс, раԥхьаӡа акәны уи анапхгара ҧсаххеит, аҽеиҭанакит иара убас ашьақәгылашьагьы. Аҧҟаҧҵәа ҿыц аҟны иарбоу аҧҟара инақәыршәаны, Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩыс далхын аҵарауаҩ, амеценат Мусса Екзеков. Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VII-тәи аизара ду. Аԥсуа телехәаԥшра арепортаж. Мусса Екзеков иҿцәажәара. Left Right Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VII-тәи аизара ду © Sputnik/Бадраҟ Аҩӡба Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VII-тәи аизара ду © abkhazinform Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VII-тәи аизара ду аҟны Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба иқәгылара © Аԥсны ахада иофициалтә саит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VII-тәи аизара ду аҟны Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба иқәгылара © Аԥсны ахада иофициалтә саит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VII-тәи аизара ду © abaza-raion Аконгресс анагӡаратә маӡаныҟәгаҩыс дҟалеит (амаӡаныҟәгаҩ хада имаҵура ахаҭыҧан иаҧҵаз амаҵура ҿыц – аред.) Инар Гыцба, уаанӡа Азинмчра нагӡа змоу Аҧсны ахаҭарнак иаҳасабала Ҭырқәтәыла иҟаз, Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Ҭырқәтәылеи Мрагылара Ааигәеи рыҟәша аиҳабы. Left Right Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба © ИИА «Алашара» Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак алахәыла Аҳмаҭ Ҳапат © ИИА «Алашара» Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак алахәыла Рамазан Мхце © ИИА «Алашара» "Аҧсуааи ашәуааи — ҭаацәак ҳауп. Иахьазы ҳабжьара иҟоу аимадарақәа иаҳагьы иӷәӷәазар ауан. Убри аҟнытә ҳара хықәкы хадас иагьҳамоуп убарҭ аимадарақәа рырӷәӷәара, ҳаизааигәатәра, ҳаидкылара – аҭаацәара ду аҿы ишаҧу еиҧш" Мусса Екзеков иинтервиу аҟынтә, ԥхынҷкәын, 2017 шықәса, Аҟәа Хәажәкыра 22 рзы Аҟәа имҩаҧысит Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс VII-тәи аизара ду аҩбатәи аилатәара. Уи аҟны аконгресс аделегатцәа Аҧҟаҧҵәа аредакциа ҿыц шьақәдырӷәӷәеит, иагьышьақәдыргылеит аконгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак. Left Right Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VII-тәи аизара ду аҩбатәи аилатәара © Наала Аҩӡԥҳа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VII-тәи аизара ду аҩбатәи аилатәара © Наала Аҩӡԥҳа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VII-тәи аизара ду аҩбатәи аилатәара © Наала Аҩӡԥҳа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VII-тәи аизара ду аҩбатәи аилатәара © Наала Аҩӡԥҳа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VII-тәи аизара ду аҩбатәи аилатәара © Наала Аҩӡԥҳа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VII-тәи аизара ду аҩбатәи аилатәара © Наала Аҩӡԥҳа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VII-тәи аизара ду аҩбатәи аилатәара © Наала Аҩӡԥҳа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VII-тәи аизара ду аҩбатәи аилатәара © Наала Аҩӡԥҳа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VII-тәи аизара ду аҩбатәи аилатәара © Наала Аҩӡԥҳа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VII-тәи аизара ду аҩбатәи аилатәара © Наала Аҩӡԥҳа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VII-тәи аизара ду аҩбатәи аилатәара © Наала Аҩӡԥҳа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VII-тәи аизара ду аҩбатәи аилатәара © Наала Аҩӡԥҳа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VII-тәи аизара ду аҩбатәи аилатәара © Наала Аҩӡԥҳа Аконгресс аҩбатәи аилатәараҟны иӡырган иара убас хара имгакәа иаартхо АААК Аинформациатә портал www.abaza.org Left Right АААК Аинформациатә портал анапхгаҩы Амина Лазԥҳа апроект апрезентациа амҩаԥгараан © Наала Аҩӡԥҳа АААК Аинформациатә портал анапхгаҩы Амина Лазԥҳа апроект апрезентациа амҩаԥгараан © Наала Аҩӡԥҳа АААК Аинформациатә портал анапхгаҩы Амина Лазԥҳа апроект апрезентациа амҩаԥгараан © Наала Аҩӡԥҳа АААК Аинформациатә портал анапхгаҩы Амина Лазԥҳа апроект апрезентациа амҩаԥгараан © Наала Аҩӡԥҳа АААК Аинформациатә портал анапхгаҩы Амина Лазԥҳа апроект апрезентациа амҩаԥгараан © Наала Аҩӡԥҳа Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс аусура азынархоуп аҧсуааи ашәуааи реимадарақәа рырӷәӷәара. Аконгресс иазҧхьагәаҭаны иамоу аусқәа рҟынтә –ҳажәлар рхаҭарнакцәа ахьыҟоу зехьынџьара аҟәшақәа раартра, ҳдиаспора ахьынхо атәылақәа зеиҧшроу еиҧш, доусы ирнаалашаа апрограмма ҷыдақәа раҧҵара, иара убас Аинформациатә портал активлатәи аусура, уи адунеи еиуеиҧшым абызшәақәа рыла аҧсуаа-абазақәа рҭоурыхи ркультуреи рыӡбахә еиҭанаҳәалоит.
https://www.abaza.org/abk/iaku-iuzeiyuymsho-aduneizegti-apsua-abaza-kongress-atourykh-iazkny
2024-02-26T08:26:42Z
<urn:uuid:4ae643eb-c63d-4903-8a21-6c94d0f47481>
[ "footer", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.87
0.85
0.97
107
29,728
tlsh:T1C0E8B3D29D40C71FE6F3C459DF91493568D1285B8362B231CE9DF470214610DEBFCC03DAEEED5A5A74CB0212D122BB013A49ECE5557DBAE722C214A22E3F79EA279872E5DE
Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭаҟны имҩаԥысит Аԥсны Ахадеи урыстәылатәи аԥсуа наплакыҩцәа рхаҭарнакцәеи злахәыз иаарту аиҿцәажәара. Аиҿцәажәараан Ахада абизнес-уаажәларра ахаҭарнакцәа рҟынӡа инеигеит аҳәынҭқарра имҩаԥнаго аекономикатә хырхарҭазы аинформациа, иара убас ирылацәажәан иактуалтәу аполитикатә мышхәаԥштә аҟны иқәгылоу атемақәа. Ҷыдала, Аԥсны Аҳәынҭқарра аекономика адәныҟатәи аинвестициақәа радԥхьалара, апартаментқәа рыстатус азинтә ҳәаақәҵара, афымцамчтә усхк иадҳәалоу апроблемақәа ирызку уҳәа, егьырҭ атемақәагьы. Арҭ азҵаарақәа рзы агәаанагарақәа реимдара анаҩс, иӡбан Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны инарҭбаау аиԥылара амҩаԥгаразы аишәа гьежь аиҿкаара. Возврат к списку Агалереиа Previous Next Иеимадоу ахархәагақәа Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент parlamentra.org Аҧсны АДӘНЫҞАТӘИ АУСқәа рминистрра mfaapsny.org АҦСНЫ Аминистрцәа Реилазаара www.km-ra.org Апроектқәа Ашьхатәыла Аҧсны "Ҳара гәҭакыс иҳамоуп – Аҧсны ашьхаҳаракырақәа зеиҧшыҟам рыҧшӡара шәырбара, ҳтәыла ауааҧсыра реиԥш, адунеи зегьы аҟны ари аҧшӡара аҭҵааразы агәаҳәара рызцәыргара”. © 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
https://presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/15219/
2024-02-24T22:38:48Z
<urn:uuid:cc9d4c42-5beb-42b8-bfb7-d0f2415b8ae1>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.83
0.83
0.95
12
2,152
tlsh:T1673A05417940D7CBD6B3D0A99D828E34A9C05807463277A0CE8DF5B00683049EBFCD12E6AAE5154B68E70512C192BF25A90DFDE9647D6ED3318211E13C3F78DD379076D5AE
Аҧыза-министр Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд Ааигәатә Мрагылареи Ацентртә Азиеи адепартамент адиректор диҧылеит - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Аҧыза-министр Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд Ааигәатә Мрагылареи Ацентртә Азиеи адепартаме... Иҵегь аҭагалара Аҧыза-министр Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд Ааигәатә Мрагылареи Ацентртә Азиеи адепартамент адиректор диҧылеит 18:03, 06.07.2022 Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд (IMF) Ааигәатә Мрагылареи Ацентртә Азиеи адепартамент адиректор Џьиҳад Азур диҧылеит. Аиҧылараҿы хшыҩзышьра азун Қырҭтәылеи IMF-и русеицура. Иаҵшьны иазгәаҭан Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд ала ишьақәырҕәҕәоу апрограмма ҿыц аҵакы. Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа, атәылаҿы аекономикатә ҭагылазаашьеи амакроекономикатә параметрқәеи ирзааҭгылеит. Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла адинамика бзиа иҟоуп, ажьырныҳәа-лаҵарамзазы аекономикатә азҳара арбага 11.2%-нӡа ишьҭыҵит. Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра рзы аҧыжәара змоу аконкреттә хырхарҭақәа дырзааҭгылеит. Урҭ рыгәҭа ҷыдала иалкаан аенергетикатә хьыҧшымра аҵаки, аинфраструктура арҕәҕәареи, афатәаалыҵтә шәарҭадара аиқәыршәареи, аструктуратә реформақәа рҵаки. Иракли Ҕарибашвили Џьиҳад Азур ҭабуп ҳәа иеиҳәеит адгылареи Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд Қырҭтәылазы имҩаҧнаго аусурақәеи рзы. Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылара рхы аладырхәит IMF Ааигәатә Мрагылареи Ацентртә Азиеи адепартамент адиректор ицхырааҩ Франсиско Пароди Қырҭтәыла иҟоу IMF еснагьтәи ахаҭарнак Селим Чакири. АПОЛИТИКА Жәлaрбжьaрaтәи aвaлиутaтә фонд Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили 0 Еиҧшу Иракли Ҕарибашвили – Агәра ганы сыҟоуп ҳара аглобалтә усеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны алҵшәа дуқәа шҳауа, адунеитә масштабла изҩыдоу, ишәҭыкакаҷу аҧеиҧш аиқәыршәара шҳалшо Иракли Ҕарибашвили адунеитә економика алидерцәа иформалымыз ршьыбжьхьа ихы алаирхәит Иракли Ҕарибашвили аилахәыра TAQA анапхгаҩы диҧылеит Аҳәынҭқарра, зынхарҭатә ҭагылазаашьа цәгьоу 1000 ҭаацәара анхарҭа ҿыцқәа рнаҭоит Иракли Ҕарибашвили – Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы Қьырса аныҳәа ду ргәырҕьаҵәа иаҧыларц рзеиҕьасшьоит, ҳара ҳазынтәгьы, ҳаҧсадгьылгьы Анцәа илҧха ҳагымзааит, аҭынчра ҳамазааит Иракли Ҕарибашвили Хавиер Коломина диҧылеит Иракли Ҕарибашвили – Ҳара ари аус ҳазықәҧон, аус аауан, атәыла анапхгареи ажәлари ари астатус ҳҽаҧсаҳтәит Иракли Ҕарибашвили Урсула фон дер Лаиен лахь - Евроеидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәа астратегиатә аӡбара рыдыркылап ҳәа ҳгәыҕуеит, ари аӡбара Қырҭтәылеи европатәи адемократиақәа рҭаацәареи ҕәҕәала еиднаҳәалоит Иракли Ҕарибашвили Евроеидгылаҿ ахантәаҩра змоу атәыла – Испаниа аҧыза-министр иахь - Қырҭтәыла, Евроеидгыла ҳаҧхьаҟатәи алахәыла аҳасабала, Европа ашәҭыкакаҷраҿы зҵакы дуу ароль нанагӡоит Иракли Ҕарибашвили Шарль Мишель иахь – Ҳажәлари анапхгара ззызуа аиҳабыреи ҳазну амчыбжь азы Евроеидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәа астратегиатә аӡбара рыдыркылап ҳәа ҳгәыҕуеит Амш зеиҧшрахо 10° ахә Қaрҭ Ас 7° амҽ 4° Авалиута акурс $ USD 2.6505 0.001 € EUR 2.8774 0.016 ₽ RUB 0.028419 0.020 £ GBP 3.3608 0.018 TOP 5 Иракли Кобахиӡе – Арчил Татунашвили ихьыӡ ақырҭуа хацәа рыпатуи, рфырхаҵареи иасимволхит, аиҳабыра зегьы ҟаҳҵоит, ацәгьара зуз зегьы ахара рықәҵараз Давид Арахамиа - ЕАШ аҟынтә ацхыраара маҷхар, иаҳа ирацәаны ауаа рмобилизациа аҭаххоит Шалва Папуашвили аоппозициа ахь ихы ирхеит- Урыстәыла аибашьра ианалага, аиҳабыра иадызгалодаз, аибашьҩцәа Украинаҟа аибашьраз рдәықәҵара? Уи иаанамгаӡози Урыстәыла аҟны аибашьра алагара ашәарҭа? Шьалуа Папуашвили - Ҳԥыза-министр иеиԥш, актәи авизила Бриуссель саҭааит, Саакашвили раԥхьаӡатәи ивизитла Москва ддәықәлеит Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Китаитәи жәлартә республика ацҳаражәҳәаҩ Ҷоу Циен диҧылеит
https://1tv.ge/lang/ab/news/aphmza-ministr-zhlarbzh%D1%8Carati-avaliwtat-fond-aaigat-mragmlarei-atcentrt-aziei-adepartament-adirektor-diphmleit/
2024-02-23T04:41:44Z
<urn:uuid:0eedaedd-5094-477b-ae48-b2392fd17213>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.93
0.61
0.96
54
6,982
tlsh:T11CF41EE19904DB0BE573C159DEA18E316DD2790B83617220CEC9F9712786098EFFCC13A9B9E81A5BB0DF1952D162BF006605ACE718BEFFD7711600B05D2F34E9278872859E
https://sputnik-abkhazia.info/20240105/aibashtsa-zyryzhyz-ianvarti-azhylara-aakhys-29-shysa-it-1037029781.html Ҳаибашьцәа зыӡрыжәыз: Ианвартәи ажәылара аахыс 31 шықәса ҵит Ҳаибашьцәа зыӡрыжәыз: Ианвартәи ажәылара аахыс 31 шықәса ҵит Sputnik Аҧсны 1993 шықәса ажьырныҳәа 5 рзы Гәымсҭатәи афронт ала аԥсуаа рҽазыршәеит ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә Аҟәа ахақәиҭтәра. Аԥсуа еибашьцәа еиҿыркааз ажәылара... 05.01.2024, Sputnik Аҧсны 2024-01-05T09:41+0300 2024-01-05T09:41+0300 2024-01-05T09:41+0300 аԥсны ажәабжьқәа аԥсны аналитикеи аиҿцәажәарақәеи https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102306/23/1023062370_0:55:1024:631_1920x0_80_0_0_5faa4a66365873d0bf908e9c9fba50e6.jpg SputnikАԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа рзы имҩаԥгаз ажәыларақәа гәыҭшьааган, ианвартәи ажәылараан иҭархаз аибашьцәа хашҭра рықәым. Иахьа иҳалагылоу ҳветеранцәа иахьеиԥш рыбла ихгылоуп урҭ ахҭысқәа.Амедиаҳәшьа, "Агәымшәараз" амедал занашьоу Ирина Папԥҳа ари ажәылара шцоз атәы лгәаларшәо, илҳәеит ҳаибашьцәа уахьгьы изымцо, арахьгьы изымаауа, хыԥсыра шырбаз."Ианвар хәба аҽны мацара акәӡам аибашьра ашықәсқәа рзы имҩаԥгаз ажәыларақәа зегьы гәыҭшьааган. Ианвартәи ажәылараҿы рҽеибыҭаны, Гәымсҭа аӡы ирны ицеит ҳаибашьцәа, аха иахьынӡахәҭаз иахьазыҟаҵамзи амшцәгьеи ирыхҟьаны илҵшәадахеит. Хымш ҳаибашьцәа рыԥсы шҭаз ҳбон, амандаринақәа рыҵаҟа итәан, хыхьынтә ақырҭцәа реихсуан, наҟ ацашьа, арахь ааишьа рымамызт", - хәа лҳәеит Ирина Папԥҳа.Аибашьҩы лажәақәа рыла, аԥсуа еибашьцәа бџьарла ишахәҭаз еиқәшәамызт."Ҳаҷкәынцәагьы бџьарс ирымази усҟан, цқьа иӷәӷәаӡамызт аԥсуа ир. Мышқәак рышьҭахь иҭҟәаны иҟаз ақырҭуа еибашьцәеи, ианвартәи ажәылараҿи иҭахаз 23-ҩык аԥсуа еибашьцәа - афырхацәа рыԥсыбаҩқәеи еиҭныԥсахлан. Ашьҭахь еилкаахеит аиҭныԥсахларақәа рыҽнынӡа зыԥсы ҭаз 12-ҩык ҳаибашьцәа аԥсуааи аурысқәеи мчыла иҭарханы ишҳаздыргьежьыз. Уи шьақәыргылан аусӡбара-медицинатә гәаҭарала", - ҳәа ацылҵеит уи.Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Ианвартәи ажәылара иалахәыз Ҭенгьиз Бганба еиҭеиҳәеит Амиран Берзениа икомандаҟаҵарала дызлаз гаграаи гәдоуҭааи реиҳараҩык рыла ишьақәгылаз агәыԥ "Ацҳа кнаҳа" аладахьы Гәымсҭа аӡиас ируа ишалагаз. Аха уи аамҭазы аӷацәа ажәҩан ахь иршьҭуаз алашарбага зцыз арҭҟәацгақәа иднарбеит аԥсуаа ажәылара ишалагаз."Амчқәа ахьеиҟарамыз иахҟьаны, ҩаԥхьа ҳар ахьаҵра ианалага, аӡиас ирхьаз ҳаибашьцәа аӷацәа иҭҟәаны иргеит, адырҩаҽны ишьны рыԥсыбаҩ аԥсуа ган иарҭеит. Гәымсҭа аӡиас шьҭахьҟа ирыз ракәзар, асы рҽылакәаҳаны рхы рзышьҭымхо шьыжьы инаркны хәлаанӡа илаиан ахымца рҽацәырыхьчарц", - ҳәа игәалаиршәоит Бганба.Аҟәатәи абаталион аибашьҩы, Леон иорден занашьоу Адгәыр Басариа ари ажәылара игәаларшәо, иҳәеит иҩызцәа аӡәырҩы шивыршьааз."Усҟан абаталионқәа ыҟамызт, агәыԥқәа ракәын. Ҳара ҳгәыԥ Аҟәаа рыҷкәынцәа злахәыз 30-ҩык раҟара ҳаҟан. Ианар 5 рзы ажәылара хымш шыбжьаз иҳарҳәан, ҳаԥшын хҽырхианы. Ашьыжь ҳандәықәла, ҳҩыза, Руслан Ешба дҭахеит, хгәыԥ аҟынтәи Алхас Бганбагьы дҳацәҭахеит. Ҳгәыԥ абжаҩык аӡы ирхьан, абжаҩык арра ҳаҿын, шьҭахьҟа шәгьежьы, иамуӡеит ҳәа анҳарҳәа. Нас егьи аганахь аӡы ирхьазгьы шьҭахьҟа излахәоз ала игьежьит", - иҳәеит Басариа. Иара иажәақәа рыла, ақырҭцәа ирдырит аԥсуаа ажәылара ргәы ишҭаз.Ҭенгьиз Бганба иазгәеиҭеит ари ажәылара ргәы шканажьызгьы, уи еиҳагьы ишаӡрыжәыз."Ари иманшәаламхаз ажәылара даара ҳгәы канажьит, аха аӡәызаҵәык иабџьар шьҭаимҵеит, уимоу аӷа иахь ацәымыӷра еиҳагьы иӷәӷәахеит, иаҳцәыршьыз ҳашьцәеи ҳҩызцәеи ршьа ауразы иҳахон. Исымҳәарц залшом, Ажьырныҳәатәи ажәылара ашьҭахь, аҽны хәлаанӡа асы изылымҵыз ҳаҷкәынцәа агәамбзиарақәа шроуз. Уи иахырҟьаны аибашьра ашьҭахьгьы игәаҟуаз рацәаҩын", - ҳәа азгәаиҭоит аибашьҩы.1993 шықәсазы ианвар хәба рзы Гәымсҭатәи афронтала аԥсуаа рҽазыршәеит ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә Аҟәа ахы ақәиҭтәра. Аԥсуа еибашьцәа еиҿыркааз ажәылара лҵшәадахеит, аиҭныԥсахларақәа рыламҭалазы аӷацәа мчыла иҭадырхеит иҭҟәаны ирымаз аԥсуа еибашьцәа. Иара убас ари ажәылараҿы ахәрақәа роуит аԥсуа еибашьцәа аӡәырҩы. https://sputnik-abkhazia.info/20170105/irina-pappha-aibashra-ashikuskua-rzi-irachan-igutshaagaz-ahtiskua-1020189369.html https://sputnik-abkhazia.info/20210105/Aibashra-sykhy-ialoup-engiz-Bganba-Ianvarti-azhylara-igalairsheit-1031571026.html https://sputnik-abkhazia.info/20161229/ainral-igulasharakua-1020151789.html Sputnik Аҧсны email@example.com +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 2024 Sputnik Аҧсны firstname.lastname@example.org +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 Ажәабжьқәа ab_AB Sputnik Аҧсны email@example.com +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 1920 1080 true 1920 1440 true https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102306/23/1023062370_56:0:968:684_1920x0_80_0_0_c1b6ac6efb455b999229753938d9f1ef.jpg 1920 1920 true Sputnik Аҧсны firstname.lastname@example.org +74956456601 MIA „Rosiya Segodnya“ 252 60 Sputnik Аҧсны ажәабжьқәа, аԥсны, аналитикеи аиҿцәажәарақәеи ажәабжьқәа, аԥсны, аналитикеи аиҿцәажәарақәеи Ҳаибашьцәа зыӡрыжәыз: Ианвартәи ажәылара аахыс 31 шықәса ҵит 09:41 05.01.2024 © Sputnik / Томас ТхайцукГумиста © Sputnik / Томас Тхайцук Анапаҵаҩра 1993 шықәса ажьырныҳәа 5 рзы Гәымсҭатәи афронт ала аԥсуаа рҽазыршәеит ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә Аҟәа ахақәиҭтәра. Аԥсуа еибашьцәа еиҿыркааз ажәылара лҵшәадахеит, аиҭныԥсахларақәа рыламҭалазы аӷацәа мчыла иҭадырхеит иҭҟәаны ирымаз аԥсуа еибашьцәа. Sputnik Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа рзы имҩаԥгаз ажәыларақәа гәыҭшьааган, ианвартәи ажәылараан иҭархаз аибашьцәа хашҭра рықәым. Иахьа иҳалагылоу ҳветеранцәа иахьеиԥш рыбла ихгылоуп урҭ ахҭысқәа. Амедиаҳәшьа, "Агәымшәараз" амедал занашьоу Ирина Папԥҳа ари ажәылара шцоз атәы лгәаларшәо, илҳәеит ҳаибашьцәа уахьгьы изымцо, арахьгьы изымаауа, хыԥсыра шырбаз. "Ианвар хәба аҽны мацара акәӡам аибашьра ашықәсқәа рзы имҩаԥгаз ажәыларақәа зегьы гәыҭшьааган. Ианвартәи ажәылараҿы рҽеибыҭаны, Гәымсҭа аӡы ирны ицеит ҳаибашьцәа, аха иахьынӡахәҭаз иахьазыҟаҵамзи амшцәгьеи ирыхҟьаны илҵшәадахеит. Хымш ҳаибашьцәа рыԥсы шҭаз ҳбон, амандаринақәа рыҵаҟа итәан, хыхьынтә ақырҭцәа реихсуан, наҟ ацашьа, арахь ааишьа рымамызт", - хәа лҳәеит Ирина Папԥҳа. Арадио Ирина Папԥҳа: аибашьра ашықәсқәа рзы ирацәан игәыҭшьаагаз ахҭысқәа 5 Ажьырныҳәа 2017, 16:11 Аибашьҩы лажәақәа рыла, аԥсуа еибашьцәа бџьарла ишахәҭаз еиқәшәамызт. "Ҳаҷкәынцәагьы бџьарс ирымази усҟан, цқьа иӷәӷәаӡамызт аԥсуа ир. Мышқәак рышьҭахь иҭҟәаны иҟаз ақырҭуа еибашьцәеи, ианвартәи ажәылараҿи иҭахаз 23-ҩык аԥсуа еибашьцәа - афырхацәа рыԥсыбаҩқәеи еиҭныԥсахлан. Ашьҭахь еилкаахеит аиҭныԥсахларақәа рыҽнынӡа зыԥсы ҭаз 12-ҩык ҳаибашьцәа аԥсуааи аурысқәеи мчыла иҭарханы ишҳаздыргьежьыз. Уи шьақәыргылан аусӡбара-медицинатә гәаҭарала", - ҳәа ацылҵеит уи. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Ианвартәи ажәылара иалахәыз Ҭенгьиз Бганба еиҭеиҳәеит Амиран Берзениа икомандаҟаҵарала дызлаз гаграаи гәдоуҭааи реиҳараҩык рыла ишьақәгылаз агәыԥ "Ацҳа кнаҳа" аладахьы Гәымсҭа аӡиас ируа ишалагаз. Аха уи аамҭазы аӷацәа ажәҩан ахь иршьҭуаз алашарбага зцыз арҭҟәацгақәа иднарбеит аԥсуаа ажәылара ишалагаз. "Амчқәа ахьеиҟарамыз иахҟьаны, ҩаԥхьа ҳар ахьаҵра ианалага, аӡиас ирхьаз ҳаибашьцәа аӷацәа иҭҟәаны иргеит, адырҩаҽны ишьны рыԥсыбаҩ аԥсуа ган иарҭеит. Гәымсҭа аӡиас шьҭахьҟа ирыз ракәзар, асы рҽылакәаҳаны рхы рзышьҭымхо шьыжьы инаркны хәлаанӡа илаиан ахымца рҽацәырыхьчарц", - ҳәа игәалаиршәоит Бганба. "Аибашьра сыԥхыӡ иалоуп": Ҭенгьиз Бганба Ианвартәи ажәылара игәалаиршәеит 5 Ажьырныҳәа 2021, 13:00 Аҟәатәи абаталион аибашьҩы, Леон иорден занашьоу Адгәыр Басариа ари ажәылара игәаларшәо, иҳәеит иҩызцәа аӡәырҩы шивыршьааз. "Усҟан абаталионқәа ыҟамызт, агәыԥқәа ракәын. Ҳара ҳгәыԥ Аҟәаа рыҷкәынцәа злахәыз 30-ҩык раҟара ҳаҟан. Ианар 5 рзы ажәылара хымш шыбжьаз иҳарҳәан, ҳаԥшын хҽырхианы. Ашьыжь ҳандәықәла, ҳҩыза, Руслан Ешба дҭахеит, хгәыԥ аҟынтәи Алхас Бганбагьы дҳацәҭахеит. Ҳгәыԥ абжаҩык аӡы ирхьан, абжаҩык арра ҳаҿын, шьҭахьҟа шәгьежьы, иамуӡеит ҳәа анҳарҳәа. Нас егьи аганахь аӡы ирхьазгьы шьҭахьҟа излахәоз ала игьежьит", - иҳәеит Басариа. Иара иажәақәа рыла, ақырҭцәа ирдырит аԥсуаа ажәылара ргәы ишҭаз. "Ҳгәыԥ амшын аганахь ҵаҟатәи ацҳала аӡы ируан. Даргьы ирдыруан (ақырҭцәа - аред.) ажәылара ҳгәы ишҭаз. Асы шьҭан, ахьҭа ыҟан. Адырҩаҽны иҳацәҭахаз аҷкәынцәа алҳгеит. Руслан Ешба дҭахеит ихәны иҟаз аҷкәын дышҭигоз. Дара ахьыҟаз рааигәа узнеиуамызт, аснаиперцәа тәан. Мышкы ҳаԥшын ҳҩыза дҭаҳгарц. Ладариа ҷкәынак Гагратәи дҳацеибашьуан, амч илан. Ашаха иманы аӡы дырит, егьи аҵыхәа ҳара иаҳкын, ибӷа Руслан Ешба дықәҵаны дҭигеит. Алхас Бганба командаҟаҵаҩс дҳаман. Иара аҷкәынцәа аӡы ирыз, арахь ианыгьежьуаз ихьчарц дхысуан, дҭахеит", - иҳәеит Басариа. Ҭенгьиз Бганба иазгәеиҭеит ари ажәылара ргәы шканажьызгьы, уи еиҳагьы ишаӡрыжәыз. "Ари иманшәаламхаз ажәылара даара ҳгәы канажьит, аха аӡәызаҵәык иабџьар шьҭаимҵеит, уимоу аӷа иахь ацәымыӷра еиҳагьы иӷәӷәахеит, иаҳцәыршьыз ҳашьцәеи ҳҩызцәеи ршьа ауразы иҳахон. Исымҳәарц залшом, Ажьырныҳәатәи ажәылара ашьҭахь, аҽны хәлаанӡа асы изылымҵыз ҳаҷкәынцәа агәамбзиарақәа шроуз. Уи иахырҟьаны аибашьра ашьҭахьгьы игәаҟуаз рацәаҩын", - ҳәа азгәаиҭоит аибашьҩы. 1993 шықәсазы ианвар хәба рзы Гәымсҭатәи афронтала аԥсуаа рҽазыршәеит ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә Аҟәа ахы ақәиҭтәра. Аԥсуа еибашьцәа еиҿыркааз ажәылара лҵшәадахеит, аиҭныԥсахларақәа рыламҭалазы аӷацәа мчыла иҭадырхеит иҭҟәаны ирымаз аԥсуа еибашьцәа. Иара убас ари ажәылараҿы ахәрақәа роуит аԥсуа еибашьцәа аӡәырҩы.
https://sputnik-abkhazia.info/20240105/aibashtsa-zyryzhyz-ianvarti-azhylara-aakhys-29-shysa-it-1037029781.html
2024-03-04T04:54:47Z
<urn:uuid:b409652d-bcb7-40d9-976d-bdeba7264f7e>
[ "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.92
0.66
0.91
47
16,026
tlsh:T101767A72CA40CB8FC6F3C5698E92493668D11E834A527670CFC6F4B15A46068FFFCD13AEEAE8059E70AB1122D092AF106A4AFCEA153EABD3718210615D3F79CC275579D4DF
Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит аусуратә еилацәажәара анхамҩатә проблемақәа рыӡбара иазку, лымкаала ихьчам атәылауаа анхарҭа ҭыҧқәа рыҭара азҵаара. Аилацәажәара иалахәын ахада ихаҭыҧуаҩ Витали Габниа, Апрокурор хада Алеқсеи Аламиа, Ахада Иусбарҭа, Апрокуратура хада, Аҟәа ақалақь анхамҩатә усбарҭа, аекономикатә ацәгьоурақәа рҿагыларазы Аҩныҵҟатәи Аусқәа Рминистрра аусбарҭа аусзуҩцәа. Ирылацәажәан зхашәалахәу ҳаракым атәылауаа, альготақәа змоу атәылауаа, иара убас 1992-1993 ш.ш. Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәеи, иҭахаз аветеранцәа рҭаацәеи, аветеранцәеи, ахшарарацәа змоу аҭаацәарақәеи, иқәыҧшу аҭаацәарақәеи рзы икоммерциатәым анхамҩатә фонд ашьақәыргылара иацу апроблемақәа. Ахада иаҵшьны иазгәеиҭеит анхамҩатә проблема ҕәҕәала ишықәгылоу, уи аӡбаразы мҩақәас иҟоугьы. «Даара акыр ҵуеит ари азҵаара иахәҭоу зҿлымҳара аҳамҭоижьҭеи. Аҭагылазаашьа уадаҩуп, иҟаҵатәугьы рацәоуп, аха акраҵанакуеит уажәы альготақәа змоу атәылауаа закәанла, қәнагала анхарҭа ҭыҧқәа рыҭара апроцесс ахацыркра. Ҳара иара убас ҳаплан иалаҳҵоит, абиуџьет аҟны иагьаҳарбоит анхарҭа ҭыҧ ҿыцқәа рыргылара, ҳфинанстә лшарақәа ҳасаб рзуны», - иазгәеиҭеит Ахада. Рауль Ҳаџьымба ахада ихаҭыҧуаҩ идиҵеит анхарҭа ҭыҧқәа реихшара иазку аҳәынҭқарратә комиссиа аҧҵаразы ажәалагалақәа разырхиара. Уи иазгәеиҭеит хатәгәаҧхарала ауадақәа раанкылара шыҟамло атәы. Арҭ азҵаарақәа аҳәынҭқарра иаӡбалоит азакәан инақәыршәаны мацара. «Аибашьра ашьҭахь ҳзықәныҟәоз «иаанкылоуп» апринцип шьҭа аус ауӡом», - иҳәеит Рауль Ҳаџьымба. ,p>Витали Габниа ажәалагала ҟаиҵеит ҿыц иаҧҵахо аҳәынҭқарратә комиссиа аусура хырхарҭа хаданы иазгәанаҭарц шахәҭоу аҳәынҭқарратә баланс аҟны иҟоу анхарҭа ҭыҧқәа рҳәаақәҵара, иара убас анхарҭа ҭыҧқәа роуразы агәаран иқәгылоу рсиа еиҭа ахәаҧшреи ихьчам атәылауаа рынхарҭатә ҭагылазаашьа аиҕьтәразы аусхкқәа рымҩаҧгареи.
http://www.presidentofabkhazia.org/aps/about/info/news/2365/?print=Y
2024-02-22T21:09:03Z
<urn:uuid:a164d4b1-b0f9-4f40-ab5a-90b3d326e9cd>
[]
[]
abk-Cyrl
1
1
1
5
3,352
tlsh:T116DDB7614440CB8FC6B3C448DAC18E322CD15843072372608ECAF0B167490DAEBFCD539EFBE8084A60AB0515E256BF556546ECEA657D2EE7605100A57D3F39DD3BA476C2DD
Иракли Ӷарибашвили - Ари крызҵазкуа аҽны шәҿаԥхьа гәахәра аду ала сықәгылоит, иахьа Ҭырқәтәылатәи ареспублика амилаҭтә мшуп. Ари аҭоурыхтә амш ахада Реџьеп Таип Ердоӷани аҭырқәа жәлары рыдысныҳәалар сҭахуп - 1TV Toggle navigation аркра GE AB AM AZ OS EN RU ab ge ab am az os en ru Live Лaив Асекциақәа Aжәабжьқәа Aвидео Евровизиа Архив Егьырҭ Ҳара иҳазкны Сара сдаҟьа Авторизaциa Арегистрaциa Toggle navigation Live FB LIVE Шьҭахьҟа Иракли Ӷарибашвили - Ари крызҵазкуа аҽны шәҿаԥхьа гәахәра аду ала сықәгылоит, иахьа Ҭырқәт... Иҵегь аҭагалара Иракли Ӷарибашвили - Ари крызҵазкуа аҽны шәҿаԥхьа гәахәра аду ала сықәгылоит, иахьа Ҭырқәтәылатәи ареспублика амилаҭтә мшуп. Ари аҭоурыхтә амш ахада Реџьеп Таип Ердоӷани аҭырқәа жәлары рыдысныҳәалар сҭахуп 09:45, 31.10.2023 Ари крызҵазкуа аҽны шәҿаԥхьа гәахәра аду ала сықәгылоит, иахьа Ҭырқәтәылатәи ареспублика амилаҭтә мшуп. Ари аҭоурыхтә амш ахада Реџьеп Таип Ердоӷани аҭырқәа жәлары рыдысныҳәалар сҭахуп, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыхзы-министр Иракли Ӷарибашвили Ҭырқәтәылатәи ареспублика 100 шықәсатәи аиубилеи инамаданы имҩаԥгаз аныҳәатә адкылараҿ данықәгылоз. Адкылараҿ аԥыза-министр иԥҳәыс Нунука Ҭамазашвили ицын. Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, ахықәкқәеи аполитикеи ирыбзоураны, 100 шықәса ирылагӡаны Ҭырқәтәыла ихадоу аполитикатәи аекономикатәи хәмарҩыс шьақәгылеит. „1923 шықәсазы Ҭырқәтәылатәи ареспублика ишьаҭаркижьҭеи 10 0шықәса ҵит. Ашьаҭакра амш инаркны ари атәылеи ажәлари ааԥхьарақәа рацәаӡаны рыман.100 шықәса ирылагӡаны Ҭырқәтәыла ихадоу аполитикатәи аекономикатәи хәмарҩыс шьақәгылеит. Аҭы́нчреи, аҭышәынтәалареи аҿиареи рыдгылара аус аҿы Ҭырқәтәыла ароль ахәшьара ду аҳҭоит”, – иҳәеит Иракли Ӷарибашвили. Аԥыза-министр ишазгәеиҭаз, ахьыԥшымра аиҭашьақәыргылара амш инаркны, Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи иуникалу аиҩызареи аиашьареи рыбжьоуп. Ауснагӡатә асасцәа рҿаԥхьа дықәгылеит Қырҭтәыла иҟоу Ҭырқәтәыла ацҳаражәҳәаҩ Али Қан Орбаи. Иара убас асасцәа рахь авидео ааԥхьара ҟаиҵеит Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоӷан, инагӡан аҩтәылак ргимнқәа. Ауснагӡатә рхы аладырхәит анагӡаратәи азакәанԥҵаратә мчра рхаҭарнакцәеи адипломатиатә корпуси. АПОЛИТИКА Ирaкли Ӷaрибaшвили Ҭырқәтәыла 4 Еиҧшу Ильҳам Алиев визитла Ҭырқәтәыла даҭааит Илиа Дарчиашвили Ҭырқәтәыла Амилаҭтә ассамблеиа ду аспикер диԥылеит Илиа Дарчиашвили - Ҭырқәтәыла ахада Қырҭтәыла ивизити Қырҭтәыла ашҟа аԥыза-министр Ҭырқәтәыла ашҟа ивизити аус рыдулара шынаҳагӡо ҳаиқәшаҳаҭхеит Иракли Ӷарибашвили апартиа “Ақырҭуа гәахәтәы” хантәаҩыс далырхит Биӡина Иванишвили ишааицҳаз, Иракли Ӷарибашвили инапынҵақәа рышьҭаҵара ихала иӡбеит Иракли Ӷарибашвили иахьа абрифинг мҩаԥигоит Иракли Ӷарибашвили Италиа ацҳаражәҳәаҩ ҿыц диԥылеит Иракли Ӷарибашвили Қувеиҭ аҳәынҭқарраҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц - Ношреван Ломҭаҭиӡе диҧылеит Иракли Ӷарибашвили Израиль ахада Исаак Герцог диԥылеит Иракли Ӷарибашвили - Атәыла ҳанахагыла ашьҭахь евроинтеграциа амҩаҿ апрогресс азы иҟаҳҵахьаз рацәоуп, ари иабзоураны Қырҭтәыла акандидат статус анашьан Амш зеиҧшрахо 8° ахә Қaрҭ Ас 10° амҽ 11° Авалиута акурс $ USD 2.6599 0.001 € EUR 2.8839 0.006 ₽ RUB 0.029277 0.027 £ GBP 3.3677 0.004 TOP 5 Михеил Дундуа - Акоррупциа аҟынтә ахақәиҭра аиндекс инақәыршәаны Қырҭтәыла аԥхьагылара амоуп, адунеи аҿы Қырҭтәыла иалукааша лидеруп Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Италиатәи ареспублика ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит Қырҭтәыла иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа абизнес администрациазы абакалавртә ԥшьышықәсатәи программа, хышықәсатәи программала ирԥсахыр рылшоит Шьалуа Папуашвили - Евроеидгыла европарламентарцәа рцәахыхратә ҳәамҭақәа рыдгылара мап аҵәнакыроуп, ари аҟаҵаразы аамҭа ааит
https://1tv.ge/lang/ab/news/1761407/
2024-03-01T09:50:17Z
<urn:uuid:413c4e69-1f2c-4e1e-9eaf-9a303c996a0c>
[ "footer", "header", "short_sentences" ]
[]
abk-Cyrl
0.92
0.61
0.96
51
6,451
tlsh:T1487AD7D1AB04DA4BD273C6595E618C367CC2794A47216270CECAB971270A158EFFCC13A9FAEC0A5A709B2621D122BF08564EFCF768BDFBD7708650A42D2E34DA2B9432995D