title
stringlengths 1
175
| text
stringlengths 63
16.4k
|
---|---|
Быҭәба, Леуарса Алықьса-иԥа Абиографиа | Далгеит Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа, Қарҭтәи аҳәынҭқарратә сахьаҭыхратә академиа. Леуарса Быҭәба иҭыхымҭақәа қәҵоуп икәша-мыкәша иҟоу адунеи злаҩычоу иблахкыгоу шәыга ԥшшәы хкыла. Уи амозаика ианубаалоит имаҭәарту адунеи ацәаарақәа - Аҟәатәи аҩнқәа, абаашқәа, аҷандарҵлақәа, алашарбагақәа, ашьаҟақәа. Апеизаж аҿы зсахьа ҭихуа аҭыԥ ианыԥшуа, афотографиаҿ еиԥш акәымкәа, асахьаҭыхыҩ иҩнуҵҟатә блала уи аҭыԥ шидикыло ауп. Уи ухызхуа дунеи ссируп, иахьыҟам еибашьрак, шәарҭарак. Асахаьаҭыхыҩ ус ибар иҭахуп иԥсадгьыл - Аԥсны. Леуарса Алықьса-иԥа иусумҭақәа ыҟоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭҭә сахьаҭыхымҭақәа ргалереиаҿы, иара убас ахатә коллекциақәа рҿы. Леуарса Алықьса-иԥа Быҭәба аԥсуа сахьаҭыхратә ҟазараҿы акырзҵазкуа илагала ду азы ианашьоуп “Ахьӡ-Аԥша” аорден II аҩаӡара. |
Быҭәба, Леуарса Алықьса-иԥа Алитература | Скидина С. Леварса Бутба: «Я всегда ощущал себя человеком, который твердо стоит на земле»//НГ. - 1998. - 15 января, (№3). - С.2. Аҩӡба У. Ш.. Аԥсуа биографиатә жәар (Абхазский биографический словарь). Москва, 2015. ад. 185. |
Чачба, Қьалышь Аҳмаҭбеи Манча-иԥа | Қьалышь Аҳмаҭбеи Манча-иԥа Чачба (; , Сҭампыл, Османтәи аимпериа – , Аҟәа, Аԥсны) — Аԥсны ампыҵакҩы (1780-1808). |
Гитлер, Адольф Алоис-иԥа | Адолф Гитлер, Адолф Алоис-иԥа Гитлер (; , Браунау-ам-Инн, Австро-Венгриа – , Берлин, Германиа) — Германиа ахада, амилаҭеилыхрауҩы, аҭыхрауҩы, ашәҟәыаҩырауҩы. |
Аублаа | Аублаа (ахатәым ахьыӡла - tʷaχә [тәахы] ) - ма, аубыхцәа, ажәлар хәыҷы инхоз Шәача ду адгьыл аҿы, зқьы аашәы хынҩажәеи ԥшьба (1864) азы шықәса кавказтәи аибашьра аҟынӡа, ицәажәоит иахьа урысшәала, ҭырқшәала, арабшәала, адыгшәала, абазшәала, аԥсшәала. Аублаа рбызшәа иԥсит, аԥсуаа-адыгаа бызшәақәа иалан. |
Ачба, Зураб Константин-иԥа Абиографиа | XX ашәшықәса 80-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭеи 90-тәи ралагамҭеи рзы Зураб Константин-иԥа ауаажәларра-политикатә еиҿкаара “Аидгылара” ахыҵхырҭаҿы дгылан. Иара Аконгресс ашьақәгыларатә еизара ду, анаҩс - Кавказ ажәларқәа рконфедерациа ҳәа иԥсахыз аиҿкааҩцәа дыруаӡәкын. Зураб Ачба аԥсуа парламент ахь депутатс далхын, далахәын Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра 1992-1993 шш. |
Ачба, Зураб Константин-иԥа Алитература | Аламия Г.Спешу поделиться с Вами. – Сухум, 2000. Заводская Е. Зло как бумеранг//Эхо Абхазии. – 2002. (№7). - С.6. |
Бганба, Витали Решь-иԥа | Витали Решь-иԥа Бганба (диит ) – аԥсуа аҵарауаҩ-афилософ, афилосовиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, аекономикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Урыстәылатәи аекологиатә академиеи, Урыстәылатәи Афедерациа асоциалтә ҵарадырра академиеи, Аноосфера жәларбжьаратәи академиеи дыркадемикуп. Витали Решь-иԥа иглобалтәу-аекологиатә проблемақәеи, афинанстәи абанктәи системақәеи асоциал-философиатә анализ азурала иҭиҵаауеит. Аԥсабареи ауаҩи реиҭакрақәеи, адоуҳаи амифи рышьақәгылареи, ирызкны акыр ҭҵаарадырратә усумҭақәа дравторуп, уаҟа иара иҽазишәоит аԥсуа философиа ауасхырқәа раарԥшра. Витали Решь-иԥа Жәлар Реизара депутатс дыҟан. 1998ш. раахыс Урыстәылатәи Афедерациа асоциалтә ҵарадырра академиа дакадемикуп. |
Бганба, Витали Решь-иԥа Алитература | Солнцев Н.В. В.Р. Бганба: Научная библиография. - М. 2003. - 29 с. Саманба Л. Убедительная аргументация, широта обобщений: //РА. - 2009. - 30 июн. 1 июл., (№ 71). - С.2. |
Аҟәатәи Аботаникатә баҳча Аҭоурых | XIX ашәышақәса актәи азбжазы Аҟәатәи агарнизон ахәшәтәҩы, аботаникеи абаҳчааӡареи рус бзиаӡаны издыруаз Багриновски иҩны азааигара абаҳча ҟаиҵеит. 1840 шықәса рзы ари абаҳча илаԥш иҵашәеит Амшын Еиқәатәи аԥшаҳәа ацәаҳәа аиҳабы агенерал Н.Н. Раевски. Агенерал Н. Раевски ибзоурала, иара убас аимператор Николаи I иҟаиҵаз ақәшаҳаҭрала Багриновски ибаҳча иҳәынҭқарратәны иҟалоит, 1840 шықәса рынахыс уи «Сухум - Қалетәи арра-ботаникатә баҳча» ҳәа хьӡыс иаҭаны арратә наплакы ахь ииагахоит. Араҟа иазгәаҭан атропикатәи асубтропикатәи ҵиаақәа Амшын Еиқәа аҿықәаҿ аҳауа шырнаало аилкаара. Абаҳча еиҳабыс Н. Раевски дҟаиҵоит Багриновски. Николаи Николаи-иԥа инаукатә ҭҵаарақәа рышьҭа нрыжьит: анаҩс Аԥсны иҟалеит ачаитә, ацитрустә плантациақәа, иара убас аратәи аклимат знаалоз ирацәаны егьырҭ атропикатә культурақәагьы. Иахьа Аҟәатәи Аботаникатә баҳча – Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа иреиуоуп, атуристцәеи анаукаҭҵааҩцәеи зызҿлымҳау акрызҵазкуа ҭыԥуп. |
Аҟәатәи Аботаникатә баҳча Алитература | Айба Г. Сухумский ботанический сад: путеводитель. - М.: Турист, 1985. - 22 с. Сухумский Ботанический сад: путеводитель. – Тб., 1974. |
Қарчаа, Владимир Иван-иԥа Абиографиа | Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Владимир Иван-иԥа Қарчаа Аԥсны ареволиуциатә қәԥара аҭоурых аҭҵаараҿы илагала рацәоуп. Иусумҭақәа рахьтә еиҳараӡак иалкаатәу иреиуоуп «Аԥсны Асовет мчраз ақәԥара иазку аҭоурых аҟынтә», «Аԥсны Асовет мчраз активла ақәԥаҩцәа» уб. иҵ., Аԥсҭазааратә мҩа ду ианысыз аҵарауаҩ далахәын Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду 1941-1945 шш. Иара акыр шықәса азикуеит аибашьра ашьҭахьтәи Аԥсны ақыҭанхамҩа аҿиара аҭоурых ганрацәала аҭҵаара. Владимир Иван-иԥа Қарчаа иҭижьуеит 35 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа, иара убас амонографиақәа хәба. |
Қарчаа, Владимир Иван-иԥа Алитература | Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. Чания В. Видный ученый: [к 60-летию со дня рождения профессора В.И. Карчава]//СА. - 1980. - 2 февраля. - С. 3. Борцы за Октябрь в Абхазии: очерки/Ред. Л.Е. Аргун, А.Я. Беселия. - Сухуми: Алашара, 1981. - 138 с. |
Гагра ТВ | Гагра ТВ — Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу регионтәи аканал. Ажьырныҳәамза 13, 2006 шықәсазы алаԥшра иалагеит. 2012 шықәса инаркны официаллатәи изху Гагра ахада администрациа иҭарцоит аинтернет аҿы передачақәа. |
Кортуа, Иван Еснаҭ-иԥа Абиографиа | Аԥсны аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩы Иван Еснаҭ-иԥа Кортуа данысит арҿиаратә ԥсҭазаара лаша, ихы ааирԥшит згәырҵҟәыл бзиаз акомпозитор, аиҿкааҩ, Аԥсны амузыкатә ҟазара аларҵәаҩ иаҳасабала. Иара Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа (1941-1945шш.) даветеранын, ианашьан Аеҵәа Ҟаԥшь аордени амедалқәа хԥеи. Кортуа Иван Еснаҭ-иԥа Аԥсны амилаҭтә культура аҿиараҿы илагала дууп. Иара иаԥшьгарала еиҿкаан еицырдыруа абыргцәа рыкәашаратә рашәаҳәаратә етнографиатә ансамбль «Нарҭаа». И. Е. Кортуа илагала рацәоуп аԥсуа жәлар ржәытә инструментқәа реиҭашьақәыргылараҿы. Иара дравторуп акыр музыкатә рҿиамҭақәа, дреиуоуп аԥсуа фольклор аизгаҩцәа. Иара ихьӡ ахҵоуп Аԥсны жәлар рырҿиаратә республикатә центр. |
Кортуа, Иван Еснаҭ-иԥа Алитература | Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. Данельян А.В. С песней народа на устах. – Сухум: Алашара, 1979. Аргун А.Х. Щедрый талант певца души народной//Сов. Абх. - 1981. – 17 февраля. - С.2. |
Аланиа, Таисиа Гьаргь-иԥҳа Абиографиа | аусура далагеит Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аҿы аҭҵаарадыррақәа русзуҩ еиҵбыс. Напхгара алҭоит аԥсабара аҭоурых аҟәша. Иааимԥмырҟьаӡакәа дрылахәын адәахьтәи аҭҵаарадырратә ҭҵаарақәа, лнапы алакын ахәшәтә ҵиаақәа рхы иадырхәо аԥсуа жәлар рмедицинаҿы рыҭҵаара. Таисиа Гьаргь-иԥҳа имҩаԥылгоит аҭҵаарадырратә-ҭҵааратә усурақәа амузеи ахықәки, аҳасабтәи, амузеии аусура инақәыршәаны. Иҭлыжьхьеит 200 рҟынӡа астатиақәа. |
Аланиа, Таисиа Гьаргь-иԥҳа Алитература | Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. Гургулия М. Исторический музей станет выше: [О государственном музее]/Манана Гургулия//КП Абхазии. - 2009. - 20февр.: (№3). - С.3. З.И.Адзинба,Т.Г.Алания. Лекарственные растения флоры Абхазии. Сухум. 2001г. |
Аныцә | Аныцә () — алаԥшҵашәаратәи алаҵатә аҵиаа. Атәылақәа рҿы аныцә ауҭра аҿиара азы абаҳҭа иҭаркоит. Уи иауп ҩба видқәа, аԥҳәыстәи - аматиерка, ахаҵатәи - апосконь. Атәылақәа – Қырҭтәыләа, ЕАА, Аҩадатәи Кореиа еиԥш, ажәлар ахада иҟынтәи аныцә аҿиара азин рымоуп. |
Аԥсуа ажәлақәа Асаӡуатәи ажәлақәа | Ашхацауа, Баг, Кинца, Маан, Мкелба, Анчок, Куџьба, Шиокум, Твишба, Айкуа, Ҵишба, Лахуа, Аримба, Озган, Ҵушба, Капш, Цвижба, Самейхуа, Фирсоу, Данарчоу |
Аԥсуа ажәлақәа Бзыԥтәи ажәлақәа | Акиртаа, Ашхацаа, Багба, Барас, Блабба, Гарцкия, Званба, Лакрба, Куланба, Миканба, Арҩытаа, Маан, Папба, Фирсоу, Чачибаа, Эшба, Возба, Уазба, Аԥшыцба (бжак/аимак, гәымаа). |
Аԥсуа ажәлақәа Аҭауадцәа, аԥсҳақәа рыжәлақәа | Аԥсны аиҳабы ажәлақәа: Чачба/Шервашиӡе - Аԥсны аҭауадацәа иаан, Аԥсҳа Тамара лҟынӡа рыжәла аҿиара иаҵлоит, Азербаиџьантәи титул "Ширван-шах" иалҵеит. Маршьан - Ахчиԥсуатәи амраҭашәаратәи аԥсуаа ргәыԥ Дал-Ҵабал аҿы рнаԥхагара ицоит. •Маршьаниа - ақырҭуаатәи гәып аԥсуа Маршьан ажәла. •Багаракан-иԥа - акы Маршьан рымыхәқәа иаҵанакуеит Ԥсхәы аҿы. •Мас-иԥа - ак Маршьан рымыхәқәа иаҵанакуеит Ԥсхәы аҿы. Аџьба - Аԥсны Аԥсҳацәа статус егьы ажәлақәа аҭоурыхтәи еимаркоит, ус иуҳәозар, амч змоу аԥсуа жәла. |
Ҷанба, Нодар Виктор-иԥа | Нодар Виктор-иԥа Ҷанба (диит ) — аԥсуа акомпозитор, адирижиор, аҟазараҭҵаара акандидат, аԥсуа жәлар рмилаҭ-ҳақәиҭратә қәԥара далахәын. |
Ҷанба, Нодар Виктор-иԥа Абиографиа | Иара еиҿикааз аӡәырҩы аҿар еидызкылоз Аԥсны арҿиара знапы алакыз аҿар Реидгыла аполитикатәи, асоциалтәи, акультуратәи сферақәа рҿы шьаҭанкылатәи аиҭакрақәа рымҩаԥгара иадгылон, анаҩс дара Аԥсуа Жәлар Рфорум «Аидгылара» иалалоит, уи апрограмма аԥҟарақәа рынагӡараҿ рылша ҕәҕәа аларгалон. Нодар Ҷанба илагала дууп Аԥсны амузыкатә ҟазареи, аԥсуа милаҭтә музыкеи рыҿиараҿы. Иара авторс дрымоуп хыԥхьаӡара рацәала ахортә, асимфониатә, аинструменттәи, афортепианотәи ашәақәеи, иара убас аус рыдиулахьеит аԥсуа жәытә ашәақәеи адоуҳатә шәаҳәарақәеи. 2007 шықәса рзы Нодар Ҷанба амузыкатә рҿиараҿ илагала ду азы Аԥсны жәлар рартист ҳәа ахьӡ ихҵан. Иахьатәи аамҭазы Н.В. Ҷанба Сеультәи ауниверситет Сан Мьен (Алада Кореиа) аҿы профессорс аус иуеит. |
Ҷанба, Нодар Виктор-иԥа Алитература | Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. Королевский цветок Нодара Чанба//РА. - 2010. - 16-17 нояб., (№130). - С.5. |
Аԥсны аҳратәра | Аԥсны аҳратәра () — феодалтәи атәыла Имеретиа аҳра иалҵаз Чихори аҿы аибыслара ашьҭахь (де-факто 1462), де-иури 1615 шықәса аҟынтәи ихақәиҭроуп. |
Аԥсны аҳратәра Аԥсны аҳратәра 1462-1680 | Аԥсуа аҳра иалҵеит Имеретиа 1462 шықәсазы, аха амрагылартәи аҳәаақәа Аԥсны, агыруа аҭауадацәа Дадиани ирыман, урҭ азын Шеврашиӡе даргьы еибашьуан, Дадиани Гуриели Имеретиатәыла аҭуадацәа гьы ацхыраара рырҭон, дара Аԥсны иақәылон 1414, 1533, 1454 шықәсқәа азы, Османтәи Аимпериа ацхыраара рырҭон, ирҿагылан, 1615 официалтәи Аԥсуа Аҳра ахақәиҭразы иалеит, Леван Дадиани Путо Шервашиӡе иԥҳа - иҭаҵа, дишьит, ма длиԥҟеит, аибашьра иалаган 1621-1657 иацон, Аԥсуа аҳра аҳәаақәа иацеит Гаалиӡга ахь. 1680-шық. азы Сорекеи Қәапу Чачба Егры ахь аҳәаа иҟарҵеит. |
Млокосевич, Борис Виктор-иԥа | Борис Виктор-иԥа Млокосевич (; , Георгиевск, Ставропольтәи агуберниа, Урыстәылатәи аимпериа — , Очамчыра, Аԥсны) — адендролог, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, зҽаԥсазтәыз абнаҭҵааҩ, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа 1941-1945 шш. далахәын, Аџьынџьтәылатә еибашьра аорден I, II аҩаӡарақәа дыркавалеруп. Иара инапхгарала Аԥсны раԥхьаӡа акәны иааӡан 500 инареиҳаны зеиԥш ыҟам амонокультурақәа, еизган 1000 инареиҳаны аҵиаа хкқәа рколлекциақәа. Борис Виктор-иԥа Млокосевич дравторуп абнатә нхамҩа еиуеиԥшым азҵаарақәа ирызку 90 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа. Иара “Аԥсны абнақәа” (1972 ш.) ашәҟәы соавторс дамоуп. Борис Виктор-иԥа Аԥсни Қырҭтәылатәи ССР-и зҽаԥсазтәыз абнаҭҵааҩ ҳәа ахьӡ ихҵан, ианаршьахьан 20 инареиҳаны дипломи грамотақәеи. |
Млокосевич, Борис Виктор-иԥа Алитература | Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. Бебия С. Леса его жизни: [к юбилею Б.В. Млокосевича]//РА. - 2005. - 29 января, (№ 9). - С.2. Роднянская И.Б. Художник в поисках истины. - М.: Современник, 1989. - 382 с. Аҩӡба, У. Ш. Аԥсуа биографиатә жәар. – Москва, Аҟәа, 2015 ш. - 527 с. |
Урыстәылатәи аимпериа | Урыстәылатәи аимпериа () — Аҭоурыхтә аурыс ҳәынҭқарра х-континетқәа Европеи Азиеи Аҩадатәи Америкеи рҿы. Ицәырҵит 1721 шшықәсазы Аҩадатәи аибашьра ашьҭахь, иҟан 1917 шықәса Февральтәи ареволиуциа рҟынӡа. Ари аимпериа зегь реиҳа идуу аҳәынҭқаррақәа адунеи зегь аҿы ибжьоуп. |
Оҭырба, Аслан Ҭамшьыгә-иԥа | Аслан Ҭамшьыгә-иԥа Оҭырба (, Абгархықә — , Аҟәа) — аԥсуа аҳәынҭқарратә усзуҩ, Москватәи афилософиеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут аушьҭымҭымҭа, аус иуан Аҟәатәи арҵаҩратә институт аҿы рҵаҩыс Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа 1941-1945шш. раԥхьатәи амшқәа инадыркны аҵыхәтәанынӡа деибашьуан афронтқәа рҿы. Аус иуан Аԥснытәи АССР иҳаракыз апартиатәи аҳәынҭқарратәи маҵураҭыԥқәа рҿы. Аслан Ҭамшьыгә-иԥа Оҭырба дреиуан аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә ҵысра аԥхьагылаҩцәа, иара ҳаҭырқәҵарала “згәы еицамкуа Аслан” ҳәа ишьҭан. Аслан Оҭырба Аԥснытәи КПСС аобком актәи амаӡаныҟәгаҩ иаҳасабала цәыббра 20, 1953ш. рзы Қырҭтәылатәи ЦК КП апленум аҿы иҭоурыхтәу иқәгылара аԥсуа жәлар рзинқәа рыхьчараз манифестны иҟалеит. Анаҩстәи ашықәсқәа рзы, А. Т. Оҭырба иҳараку аҳәынҭқарратә маҵураҭыԥқәа напхгара рыҭо ԥсыцқьала иԥсадгьыли ижәлари рымаҵ иуан. |
Оҭырба, Аслан Ҭамшьыгә-иԥа Алитература | Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. Марыхуба И.Р. Во времена лихолетья: [Слово об Аслане Отырба и его выступлении в 1953г.]//НД. - 2010. - 16 Апр., (№14). - С.3. Шария В.В. Несгибаемый Аслан Отырба: [о жизни и трудовой деятельности А. Отырба]//ЭА. - 1995. - Август-сентябрь, (№ 12-13). - С. 4-6. |
Ҭаниа, Амиран Владимир-иԥа | Амиран Владимир-иԥа Ҭаниа (, ақыҭа Ԥақәашь — , Аҟәа) — Аԥсны жәлар рартист. Абаҩхатәра ҷыда змаз, иналукааша атеатри акинои рактиор, ашәаҳәаҩ, акәашаҩ ҟаза, асценаҿы дрылукаауан даҽаӡәы иламҩашьоз ихаҭарала, ихымҩаԥгашьала. |
Ҭаниа, Амиран Владимир-иԥа Абиографиа | А.В. Ҭаниа аԥсуа музыкатә-хореографиатә фольклор бзиаӡаны идыруан. Илагала рацәоуп аԥсуа профессионалтә театртә ҟазара аизҳараҿы. Иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы абаҩхатәра злаз ауаҩ гәыраз Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы астудентцәа актиортә ҟазара алекциақәа дырзаԥхьон, итеатр гәакьа азы артистцәа азыҟаиҵон. Амиран Ҭаниа актиор ибаҩхатәра анаҩсгьы илан ауаҩытәыҩса иҟазшьа бзиаӡақәа: аразра, арыцҳашьара, иџьоушьаратә аиумор, иԥсадгьыли ижәлари рахь абзиабара. |
Ҭаниа, Амиран Владимир-иԥа Алитература | Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. Аргун А.Х. Амиран Тания: творческий путь народного артиста. - Сухум: АГУ, 2002. Аргун А.Х. Театр абхазов конца XX века. - Сухум: Алашара, 2001. |
Хагба, Анатоли Дмитри-иԥа | Анатоли Дмитри-иԥа Хагба ( — ) — аԥсуа музыкант, Аҳәынҭқарратә камертә оркестр адирижиор, Аԥснытәи АССР аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Аԥсны жәлар рартист. |
Хагба, Анатоли Дмитри-иԥа Абиографиа | 1966 шықәса инаркны 1971 шықәсанӡа аус иуан Аҟәатәи ақалақьтә паркқәа рдирекциа иатәыз Аҟәатәи аԥсыԥтә оркестр асахьаркыратә напхгаҩыси дирижиорси. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра 1992-1993 шш. рзы иара Аԥсны ахьчаҩцәа дрывагылан деибашьуан. 1994 шықәса инаркны Аԥсны Ареспублика Аҳәынҭқарратә камертә оркестр асахьаркыратә напхгаҩыси дирижиор хадаси дыҟан. 1997 шықәса инаркны 2010 шықәсанӡа Адыгеиатәи Ареспублика Акультура аминистрра ааԥхьарала аус иуан Адыгеиатәи Ареспублика Аҳәынҭқарратә филармониа асимфониатә оркестр дирижиорс, ари ауси Аԥсны Ареспублика Аҳәынҭқарратә камертә оркестр аҿы аусуреи еилаигӡон. |
Хагба, Анатоли Дмитри-иԥа Алитература | Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. Хашба М. Миру нужна музыка Музыке нужен мир: [О открытие Абх. Гос. Сим. Оркестр]/Мери Хашба//НГ. - 2000. - Август 6, (№ 31). - С. 10. Барганджия Р. Под сенью платана Мидары/Русудан Барганджия//РА. - 2010. - 25-26 нояб., (№ 134). - С.2. |
Чыкәбар, Антон Иван-иԥа | Антон Иван-иԥа Чыкәбар ( — ) — аԥсуа аҵарауаҩ, аетнограф. Еицырдыруа аԥсуа ҵарауаҩ-арҵаҩы, ауаажәларратә усзуҩы, аетнограф-аҭҵааҩы Н.С. Патеи-иԥеи иареи еиқәдыршәоит арҵага шәҟәы “Аԥсуа шәҟәы аԥсуа школқәа рзы”. Антон Иван-иԥа даара бзиа ибон иуаажәлар, урҭ ркультура. Иара лассы-лассы еиҭеиҳәалон: - “Аҵара ҵалатәуп ууаажәлари уԥсадгьыли урыԥсахарцаз” -ҳәа. Антон Иван-иԥа Чыкәбар ихьӡ кашәара ақәӡам, уи ирҵаҩратәи иуаажәларратәи усқәа ирымаз ааӡагатәи арҵаратәи ҵакы иахьагьы ишрымац ирымоуп. |
Чыкәбар, Антон Иван-иԥа Алитература | Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. Дзидзария Г.А. Формирование дореволюционной абхазской интеллигенции. - Сухум: Алашара, 1979. - С. 197. Бгажба Х.С. Видный представитель абхазской культуры//СА. - 1975. -16 декабря. - С.3. |
I Никеитәи Адунеизегьтәи Аизара ду | I Никеитәи Адунеизегьтәи Аизара ду — Хәажәкырамза 21, 325 шықәсазы имҩаԥысит. Адунеизегьтәи аизарадуқәа рыла ауп ишалаго ауахәаматә қьырсиантә система. Адунеизегьтәи аизарадуқәа – ақьырсиантә уахәамақәа иреиҳаӡоу рдинмацзуҩцәа – апатриархцәа, архиепископцәа, аепископцәа реизара дуқәа роуп. Уаҟа ирылацәажәон, ирҳасабуан анцәахаҵареи ауахәама-аполитикатә ҟазшьеи змаз азҵаарақәа. Аԥсны атерриториаҿы ақьырсианцәа ирызку раԥхьатәи аҩыратә дыррақәа иҟоу ҵәырҵит ҳара ҳера аныҟала III ашәышықәса анҵәамҭазы, Питиунт(Пицунда) ақьырсианцәа хырҵәаны иахьаарышьҭуаз ҭыԥны ианыҟалаз. IV ашәышықәса алагамҭазы ара ицәырҵит аепископ Сафрони дызхагылаз ауахәаматә хеилак. 325 шықәса рзы абазгаа рхеилак ахаҭарнак Питиунттәи аепископ Стратофил далахәын I Адунеизегьтәи аизараду. I Адунеизегьтәи аизара ду аҿы еиқәыршәан, иагьрыдыркылеит быжь-пунктк рыла ишьақәгылаз ақьырсиантә дин асимвол, анаҩс Никеитәи ҳәа зыхьӡхаз. |
I Никеитәи Адунеизегьтәи Аизара ду Алитература | Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. Абхазию делят три Церкви: [президент республики призвал РПЦ рукоположить для Сухума своего епископа]//Христианская Абхазия. - 2013. - июль. - С.7. |
Жәларбжьаратәи аметеорологиа амш | Жәларбжьаратәи аметеорологиа амш — Хәажәкырамза 23, 1950 шықәса рзы амчра аиуит аконвенциа, Адунеизегьтәи Аметеорологиатә хеилак шьаҭас изауз. Агидрометеомаҵзура аусураҿы хықәкы хадас иҟоуп аҳауа-климаттә цәырҵрақәа ирыхҟьаны ажәлар рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭазыргыло иахьынӡауа аԥыхреи, аекономика ааха аҭара аԥырҟәҟәаареи, агидрометеорологиатә шәарҭадара адунеи аҿы аҩаӡара ашьҭыхра. Аметеорологиатә маҵзурақәа русҳәарҭақәа рҿы аус руеит шә-нызқьҩыла аспециалистцәа, аклиматологиеи, адинамикатәии, афизикатәии, аҳауазгәаҭаратәии метеорологиа знапы алаку. Анализ зызу аҳауатә цәырҵрақәа ирыхҟьаны иҟалар зылшоз, аха заԥырҟәҟәаара алыршахаз аахақәа рыла иаабоит аметеорологцәа разԥхьагәаҭарақәа ирыбзоураны аекономикатә цәыӡқәа рхыԥхьаӡара бжьаратәла 40 % рҟынӡа рыларҟәра шалдыршо. |
Жәларбжьаратәи аметеорологиа амш Алитература | Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. 23 марта - Международный день метеорологии: [интервью начальника гидрометеорологической службы РА Барцыц Л.М.]//Ашьаҟьар-Росток. - 2001. - март, (№ 3 (6). - С. 2 Сельянинов Г. Материалы к климатологии западного Закавказья: черноморское побережье, Абхазия и Западная Грузия/Г. Сельянинов; Сочинская областная С.-х. Опытная Станция; Математический отдел. - Сочи: Изд. Сочинской областной с.х. Опытной станции, 1923. - 32 с. |
Аславианбжьаратәи бызшәа | Аславианбжьаратәи бызшәа (аур. межславянский язык, англ. Interslavic language) — иԥсабаратәым аславиан бызшәа. Апроект авторцәа: анидерланд лингвист Иан ван Стенберген, ачех программаҩҩы Воитиех Мерунка. Ихалхно — 20.000 ҩык. |
Али-беи аль-Кабир | Али-беи аль-Кабир ( – ) — аԥсуа мамлиуктәи Мысра аиҳабы. 1768 шықәсазы Мысра ахы иақәиҭхеит Османтәи аимпериа аҟынтәи. Али-беи даара ишьахуз дипломатын, насгьы деибашьҩын. |
Али-беи аль-Кабир Персоналии по алфавиту | Али-беи Аԥсны диит, даԥсыуацқьан. Иара усҟан ихыҵан 13 шықәса дыҭҟәаны данырҭииз. Аҷкәын дааихуеит амамлиук Ибрагим Катхуда, аԥсылманрагьы илыиааӡеит. 1757 шықәсазы иара дҟалеит Мысра напхгаҩыс. Али-беи еидикалеит хыхьтәии цаҟатәии Мысра. Ԥхынгәы 1770 шықәсазы Мысра ахьыԥшымра азхаиҵеит. 1773 шықәсазы мамлиукаа дықәырцеит иԥсҭазаара далҵит каиртәи абахтаҿы. |
Вильниус | Вилньиус (, ; аофициалтә ахьʒ урыс 1939 шқәсанӡа — Ви́льна) — Литва аҳҭнықалақьуп ақалақь дуӡӡоуп; аҳәынҭқарра политикатә, економикатә, культуратә ацентр иҟоуп; |
Адунеизегьтәи аӡы амш | Адунеизегьтәи аӡы амш (Хәажәкырамза 22) — Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара (ЕАР) аекспертцәа ирымоу адыррақәа рыла Адгьыл иқәынхо ауааԥсыраa рахьтә фба рак ицқьоу аӡыржәтә змауа рҟынӡа иҟоуп, хԥа рак рҟынӡа– аӡныхтә змауа. Адунеи аҿы аӡыцқьа аганахь ала Аԥсны раԥхьатәи аҭыԥқәа руак ааннакылоит. Аԥсны 150 инареиҳаны аминералтә ӡқәа ыҟоуп. Урҭ рахьтә еиҳа еицырдыруеит: Ауадҳаратәи ашьчелоч- ӡҵәыҵәы, Аҟәатәи, Гагратәи, Тҟәарчалтәи атыҩшаӡрытә ӡыхьқәа, Охуреитәи атермалтә ӡыхь. Аминералтә ӡыхьқәа раамышьҭахь Аԥсны 186 ӡиа ыҟоуп, урҭ реиҳарак иҵааршәыратәиқәоуп. Иаарласны Аԥсны иаиур алшоит алшара екологиала ицқьоу аминералтә ӡыржәтә аекспорт азуразы. |
Адунеизегьтәи аӡы амш Алитература | Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. Осия О.В. Питьевые минеральные воды Абхазии/О.В. Осия, Ш.Л. Джалагония. - Сухум: ГПП «Дом печати», 2002. - 68 с. Заводская Е. Живительная влага по рецепту: [о работе лаборатории Абхазского государственного центра экологического мониторинга (АГЦЭМ)]/Елена Заводская//ЭА. - 2009. - 8 сент., (№ 33). - С.3. |
Кобахиа, Аслан Алықьса-иԥа Абиографиа | 1982-1992 шш. рзы аус иуан Аԥснытәи атуризми аекскурсиақәеи рхеилак иаҵанакуаз еиуеиԥшым амаҵурақәа рҿы. Нанҳәамза 14, 1992 ш. инаркны ақырҭуа аоккупантцәа дырҿагылан деибашьуан Гәымсҭатәи афронт артиллериа акомандаҟаҵаҩ иаҳасабала. Абҵарамза 1993ш. рзы дҟаҵан Аԥсны Ареспублика Атәылахьчара аминистрра артиллериа акомандаҟаҵаҩыс. Жәабранмза 1994 ш. рзы – Аԥсны Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩыс. Жьҭаарамза 17, 1994 шықәса инаркны ажьырныҳәамза 30, 1995 шықәсанӡа аус иуан Аԥсны Ареспублика Ашәахтә маҵзура аусбарҭа еиҳабыс. Ажьырныҳәамза 30, 1995ш.- цәыббрамза 20, 1995 ш. – Аҟәа ақалақь Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа еиҳабыс. 1995ш. – 2002ш. – Аԥсны Аҳәынҭқарратә аҳазалхратә еилакы дахантәаҩын. Кобахиа Аслан Алықьса-иԥа – Аԥсны Афырхаҵа, аҳазалхратә маҵзура Агенерал-маиор, иахьа Аԥсны Жәлар Реизара дадепутатуп. |
Адунеизегьтәи амш аимҳәаду аҿагыларазы | Адунеизегьтәи амш аимҳәаду аҿагыларазы (Хәажәкырамза 24). Аимҳәаду — ари даара ишәарҭоу чымазара ҿкуп. Дарбанзаалак ауаҩы аимҳәаду абактериақәа злоу иҿку аҳауа лбааидар алшоит. Насгьы заҟа ирацәаны, ма ирлас-ырласны ас еиԥш иҿку аҳауа ахьыҟоу ауаҩы дақәшәо аҟара, убри аҟара иҳаракуп ашәарҭара ауаҩы аимҳәаду ихьыр алзыршо. 1902 ш. рзы Гәылрыԥшь костроматәи аамсҭа Николаи Смецкои иргылоит аимҳәаду змоу ачымазцәа рзы асанатори. Х-еихагылак змаз ахыбраҿы 110 ҭыԥ аман, ачымазцәа аҽыхәшәтәра иахыршәаауан 60 мааҭ, уи ахарџьқәа иҟаз зегьы рҟынтә иаацқьаны абжа акәын иартәоз, егьырҭ иаанхоз аицҵалыҵқәа Николаи Смецкои ихатә ԥара ахишәаауан, ари аҩыза аҭагылазаашьа иалнаршон зылшарақәа маҷыз ачымазцәа ргәабзиара ишьахәыз акурортологиатә хәышәтәырҭаҿы аиӷьтәра. 1913 ш. рзы Смецкои иргылоит асанатори аҩбатәи акорпус. Ари ахыбра Аԥсны зегь реиҳа идууз ԥшь-еихагылакны иҟаз, 250 ҭыԥ змаз хыбран. Асанатори акыр ааха ӷәӷәа аиут Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра 1992-1993 шықәсқәеи Аԥсны аблокада ианҭагылази раан. |
Прицкер, Лазар Моисеи-иԥа Абиографиа | Прицкер Лазар Моисеи-иԥа — 1941-1945 шш. рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеран, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, аҭоурыхтә наукақәа ркандидат, авторс дрымоуп аҭҵаарадырратә уаажәларраҿы иаԥсаны иазхаҵоу 40 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа. Лазар Прицкер иҟаиҵеит алагала ду Аԥсны ааглыхреи аусуцәа рыкласси рҭоурых аҭҵаараҿы. Иусумҭақәа акыр рызкуп Аԥсны аиҭаҵратә аамҭақәа НЕП, аиндустриализациа, 1941-1945шш. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа уҳәа убас егьырҭ ирыдҳәалаз апроблемақәа рҭоурых, Иара қәҿиарала еилаигӡон анаукатәи ауаажәларратәи усқәа. Лазар Моисеи-иԥа ианашьоуп Аџьынџьтәылатәи еибашьра аорден II аҩаӡара, амедалқәа, Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Аҳаҭыртә грамота. |
Зеландиа ҿыц | Зеландиа ҿыц (, ) — Аокеан ҭынч алада-мраҭашәаратәи ахәҭаҿы адгьылбжьахатә ҳәынҭқарроуп. Иаҵанакуеит 2 ихадоу адгьылбжьахақәа: Аҩадатәи адгьылбжьаха (, ), Аладатәи адгьылбжьаха (, ). |
Мельбурн | Мельбурн () – Австралиатәи ақалақь, Викториа аштат иаҳҭнықалақь. Мельбурн иаланхоит 4,5 миллионк инарзынаԥшуа ауааԥсыра. 1901-1927 шықәсқәа рзы Мельбурн Австралиатәи аҳҭнықалақь иҟан. |
Порт-Августа | Порт-Августа () – Австралиатәи ақалақь Аладатәи Австралиа аштат аҿы. Анкьа ара абаӷәаза ду иҟан, ма 1973 шықәса рзы ибжьаӡит. |
Уаиалла | Уаиалла () – Австралиатәи ақалақь Аладатәи Австралиа аштат аҿы. Анкьа ари ақалақь иахьӡан Ҳаммок-Ҳилл (, 1916 ш. рҟынӡа). |
Маунт-Гамбиер | Маунт-Гамбиер () – Австралиатәи ақалақь Аладатәи Австралиа аштат аҿы. Ари ақалақь авулкантәи аҳаштәи агеографиатәи аҭыԥқәа рзы иидыруеит: аӡиа Блу-Леики, аҳаԥқәеи акарстә аҭыжаақәеи апаркқәеи абаҳчақәеи. |
Марри-Бриџ | Марри-Бриџ () – Австралиатәи ақалақь Аладатәи Австралиа аштат аҿы. Анкьа ари ақалақь иахьӡан Мобилонг () ма Едуардс-Кроссинг , 1924 ш. рҟынӡа). Марри-Бриџ анхацәа рыкрыҿаҵара еиԥш агрокультура ауп. |
Саманба, Леонид Хыгә-иԥа Абиографиа | Леонид Хыгә-иԥа Саманба алексикологиеи абызшәадырреи ирызкны шәкы инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа дравторуп. Иара Аԥсны ҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы аус иуеит аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабыс. Омонимиа, ус ирышьҭоуп афилологиаҿы ажәақәа машәырны еиқәшәо – даараӡа зыҭҵаара ауадаҩра аҵоу алексикологиеи аграмматикеи рыпроблемақәа иреиуоп. Иахьа уажәраанӡа аԥсуа бызшәаҿы ари ҷыдала иҭырҵаауаз амаҭәарқәа иреиуамызт. Леонид Хыгә-иԥа Саманба иусумҭа ари аԥсуаҭҵаараҿы ираԥхьатәиу ҽазышәароуп ари апроблема аус адулараҿы. |
Жәларбжьаратәи атеатр амш | Жәларбжьаратәи атеатр амш (хәажәкырамза 27) — ари аныҳәа апрофессионалтә актиорцәа, арежиссиорцәа, адраматургцәа рымацара ракәӡам изныҳәо, уи рныҳәоуп атеатр бзиа избо зегьы, пату ззақәу - ари аҟазара ҳаракы. Атеатр амш иазкны хыԥхьаӡара рацәала еиуеиԥшым аныҳәатә усмҩаԥгатәқәеи атеатртә фестивальқәеи рымҩаԥгара азгәаҭоуп, атеатртә коллективқәа ракәзар ари аҽны аспектакль ҿыцқәа ықәдыргылоит. 1948 шықәса раахыс ИуНЕСКО ахантәаҩрала адунеи атеатрқәа официалла рҽеидыркылоит Жәларбжьаратәи атеатр аинститут ҳәа, 1961 шықәса рзы Жәларбжьаратәи атеатр аинститут IX аконгресс аҿы ишьақәыргылан атеатр амш, уи адунеи зегьы аҿы иазгәарҭоит хәажәкыра 27 рзы. |
Жәларбжьаратәи атеатр амш Алитература | Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. Аргун А.Х. Театр абхазов конца XX века/А.Х. Аргун; Абх. ин-т гуманит. исследований им. Д. Гулиа. Акад. наук Абхазии. - Сухум: Алашара, 2001. - 372 с. Лакербай М.А. Очерки из истории абхазского театрального искусства; Ред. В.А. Симонян, техред. М.Д. Хахмигери, корр. З.А. Шарашкина. - Сухуми: Абгиз, 1962. - 198 с. |
Индиа | Индиа ( ), аофициалтә хьӡы: Индиа Ареспублика (, ) — Аҩада-азиатәи Индиатәи асубконтинентҟны ҳәынҭқарра. Ари атәыла иаланхоит аҵкыс еиҳау амиллиардк ауааԥсыра. Аполитикатә шьақәгылашьала Индиа иҟоуп аидгыла-федеративтә иуахәаматәым социалисттә демократиатә ҳәынҭқарра. |
Тополиан, Альберт Гаспар-иԥа Абиографиа | 1976-1990 ш. рзы В. Шервашиӡе ихьӡ зху Аҟәатәи ақалақьтә хәышәтәырҭа №2 аҿы гәыхәышәтәҩыс аус иуан. 1990ш. рзы иара еиҿикааит аермантә культура-гәыҳалалратә хеилак “Крунк” (“Аӡыцәа”) 2001 шықәсанӡа напхгара зиҭоз. 1991ш. рзы Аԥснытәи Ареспублика Иреиҳаӡоу Асовет ахь депутатс далхын. 1993шш. рзы, Аџьынџьтәылатә еибашьра 1992-1993 ш. раан Альберт Гаспар-иԥа Тополиан иаԥшьгаралеи иҽалархәралеи еиҿкаан Аԥснытәи Арбџьар Мчқәа ирылахәны еибашьуаз, Аиааираҿы злагала рацәаз, аерманцәа рбаталионқәа ҩба. А.Г. Тополиан аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа рзы апарламент аҿы иааникылон авице-спикери, Аԥсны аиҳабыраҿы авице-премиери рмаҵураҭыԥқәа. |
Тополиан, Альберт Гаспар-иԥа Алитература | Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. Ходжаа Р. Армянский батальон в Отечественной войне народа Абхазии 1992-1993гг./Р. Ходжаа. - Сухум: ГПП «Дом печати», 2005. - 183с. Цвижба З. Командир Армянского батальона: [к 20-летию Победы в Отечественной войне народа Абхазии]//РА. - 2012. - 13-14 окт., (№116). - С.2. |
Џьениа, Чынчор Кәасҭа-иԥа Абиографиа | Чынчор Џьениа ибаҩхатәра ааԥшит адраматә ҟазара еиуеиԥшым ажанрқәа рҟны: атрагедиа инаркны акомедиа аҿынӡа; жәлар репос инаркны аводевиль аҿынӡа. Хыԥхьаӡара рацәала арольқәа еиуеиԥшым аспектакльқәа рҿы дыхәмархьеит. Аха еиҳарак Чынчор Џьениа ибаҩхатәра аарԥшын аԥсуа шҟәыҩҩцәа - Б. Шьынқәба, Ш. Ҷкадуа убас егьырҭгьы рҩымҭақәа рыла иааирԥшуаз ахаҿсахьақәа рҿы. Акыр хаҿсахьа лашақәа аԥиҵахьан Чынчор Џьениа адунеитәии аурыс литературеи рыклассикцәа – Шекспир, Кальдерон, Ердман, Горьки уҳәа уб. егьырҭгьы рпиесақәа рыла иқәыргылаз аспектакльқәа рҿы. С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә театр аҿы аус иуан 60 шықәса инареиҳаны. Иара амилаҭҭә сатиреи аиумори ржанр ашьақәгылараҿы илагала рацәоуп, аус иуан еицырдыруаз асатиреи аиумори ртеатр “Чарирама” аколлектив аҿы. Ч.К. Џьениа акыр сахьаркыратә фильмқәа рҿы иҽҭиххьан. |
Џьениа, Чынчор Кәасҭа-иԥа Алитература | Аргун А. Абхазский театр и фольклор/А. Аргун; Ред. О. Кайдалова, ред. изд-ва Р. Лазарева, худож. Т. Кохреидзе. - Тб.: Хеловнеба, 1986. - 202 с. Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. |
Страничкин, Алеқсандр Виқтор-иԥа Абиографиа | Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә усзуҩы, Алеқсандр Виқтор-иԥа Страничкин далгоит Ростовтәи аҳәынҭқарратә университет «аполитикатә економиа» азанааҭ ала. 1983ш. раахыс Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аус иуеит. Ареспублика Аԥсны Жәлар Реизарахь депутатс ҩынтә далырххьеит (1996, 2006), аус иуан Аԥсны Аиҳабыраҿ авице-премиерс. Аҭҵаарадырратә публикациақәа дравторуп, аекономикатә теориа иазку арҵага шәҟәқәа дырсоавторуп, 50 инареиҳаны азакәан апроектқәеи еиуеиԥшым анормативтә документқәеи аус рыдулара далахәхахьеит. Алеқсандр Виқтор-иԥа Страничкин ауаажәларратә еиҿкаара Ассоциациа “Аԥсны аурысцәа Рхеилак” ахантәаҩыс дыҟан. |
Страничкин, Алеқсандр Виқтор-иԥа Алитература | Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. Соловьева Ю. Судьбы абхазского и русского народа сплетены самой историей: Юлия Соловьева//РА. - 3-4 дек., (№134). - С.2. |
Таллин Ахьӡ | Уажәытәи ахьӡ Таллин 1536 шықәсазы аԥхьа «Талына» (Talyna) еиԥш иуԥылоит. Ари ахьӡ ажәа «taani linn» ма иаазыркьаҿу, ма аицак еиԥш еиҭеиҳәоит. Аестоншәала иаанагоит «Даниатәи ханбаа» ма «Даниатәи ақалақь», иақәшәо алатыш «Dāņupils» афинн «Tanikanlinna» формақәа. Алаҭин «Revalia» (Ревалиа) аҟынтә иаауоит ԥыҭк ақалақь ахьӡ авариантқәа: Reval, Revel, Reveln, Ревель. Ари иаазыркьаҿу аҟынтә хьӡоуп «civitas revaliensis» ма «urbs revalia», абасала «Ревалтәи ақалақь» ауп, иаанагоит аамҭакала актәии заҵеи ақалақь аҭоурыхтә тәылаҿацә Ревала (Rävala) аҿы. |
Амшаԥ | А́мшаԥ, Мшаԥы — зегь реиҳа ихадоу ақьырсиантә ныҳәақәа иреиуоуп. Уи азгәарҭоит ааԥын раԥхьатәи амзаҭәымҭа иацааиуа амчыбжь аан, иудеитәи Мшаԥы анаҩс. Мшаԥы аныҳәа азгәаҭара рыдыркылахьан 325 шықәса рзы I Адунеизегьтәи Аизара Ду аҿы. Аиашахаҵаратә қьырсианцәа ари аныҳәа рҽазыҟарҵоит 48 мшы ицо Ачгара Дуӡӡа аҵаларала. Мшаԥы-ари адунеи аҿы аиашахаҵаратә қьырсианцәа зегьы рзы аныҳәақәа ирныҳәоуп, агәырҕьарақәа иргәырҕьароуп. Аиашахаҵаратә Мшаԥы Аԥсны ҳәынҭқарратә ныҳәан ишьоуп. |
Папԥҳа, Махинур Аазиз-иԥҳа | Махинур (Туна) Аазиз-иԥҳа Папԥҳа (диит ) — Аԥсны ашәҟәыҩҩ-апублицист, аиҭагаҩ, аҭоурыхдырыҩ-аетнограф. Дыҩуеит ҭырқә бызшәалеи аԥсуа бызшәалеи. |
Папԥҳа, Махинур Аазиз-иԥҳа Абиографиа | 1973 шықәса рзы раԥхьаӡа акәны лара Асовет Еидгылахь данаа, лҭоурыхтә ԥсадгьыл – Аԥсны даҭаауеит. Аԥсны жәлар рпоет Б.У. Шьынқәбеи лареи хаҭалатәи реибадырра ашьҭахь нап алыркуеит активла аусура иҭоурыхтә роман “Ацынҵәарах” аҭырқә бызшәахь аиагарази аҭыжьрази(1995). Ирацәоу лылшамҭақәа аԥсуа литература апропаганда азураҿи, Омар Беигәа иҭынха ахьчареи асистематизациа рзурази,аԥсуаҭҵаареи аԥсуа литературеи рҿы ллагала азы М. Папба иланашьоуп “Ахьӡ-Аԥша” аорден (2005). Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылаҿ лара драԥхьатәиуп аҳәаанырцәынтә алахәылацәа. |
Папԥҳа, Махинур Аазиз-иԥҳа Алитература | Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. Турция – Абхазия: жизнь в диаспоре [Научный поиск Махинур Папба]//РА. № 57 (2658). 29.05.2011. Стр.2. |
Анчабаӡе, зураб Вианор-иԥа Абиографиа | Иналукааша аԥсуа ҵарауаҩ, аҭоурыхдырыҩ-кавказҭҵааҩ Зураб Вианор-иԥа Анчабаӡе иԥсҭазаара зегьы азкын ԥсыцқьала иҽагәылахаланы аҭҵаарадырра амаҵ ауреи. Зураб Анчабаӡе иинтересқәа ртематикатә ҭҵаарадырратә мҽхакы ҭбаауп. Хырхарҭа хадас иамаз иреиуан Аԥсни, Қырҭтәылеи, Нхыҵ-Кавказ ашьхаруа жәларқәеи рҭоурых апроблемақәа рыҭҵаара. З.В. Анчабаӡе акьыԥхь збахьоу иҭҵаарадырратә-ҭҵааратә усумҭақәа рхыԥхьаӡара 100 иреиҳауп. Иусумҭақәа иарбанзаалак ҳтәыла аҭҵааразы акыр иаԥсоу материалны иҟоуп. Инаукатә ҭҵаарақәа ирныԥшуеит зеиԥш ыҟамыз ибаҩхатәра, идырра ҵаула, иҭҵаарадырратә ԥышәа абеиара. |
Анчабаӡе, зураб Вианор-иԥа Алитература | Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. Дзидзария Г.А. Ученый и педагог//Сов.Абх. -1974. - 4 июня. - С. 3. Куправа А.Э. Выдающийся абхазский историк - кавказовед: [к 90-летию со дня рождения З.В. Анчабадзе]/А. Куправа//РА. - 2010. - 22-23 апр., (№43). - С.2. |
Ачерқьесқәа рыфлаг амш | Ачерқьесқәа рыфлаг амш (мшаԥымза 25) — 1830 шықәса рзы ачерқьесқәа рмилаҭзегьтәи еизараҿ (Хасе) ирыдыркылеит ачерқьесқәа рмилаҭтә бираҟ. Ачерқьес жәлар ахааназ рбираҟ рмилаҭ акзаара иасимволны иахәаԥшуеит. Ари амш аҽны Нхыҵ-кавказтәи ареспубликақәа Адыгеиа, Ҟарачы-Черқьесиа, Ҟабарда-Балкариа рҿы имҩаԥысуеит ҽыла аныҟәарақәа, аспорттә еицлабрақәа, ачерқьес кәашаратә хәмаррақәа. Ҟабарда-Балкариа ишаԥу еиԥш ари амш аҽны Нальчик ақалақь аҿы Аԥсны ашҭа аҭыԥ аҟынтәи еиҿыркаауеит амашьынатә еиԥхныҩлара. Аныҳәатә ныҟәарақәа рышьҭахь Аԥсны ашҭаҿ иалагоит аныҳәатә усмҩаԥгатә. Ачерқьесқәа рбираҟ адунеи зегьы аҿы иалаԥсоу ачерқьес(адыга) жәларқәа Ракзаара иасимволуп. |
Ачерқьесқәа рыфлаг амш Алитература | Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. Цвижба З. Не замалчивая трагических страниц общей истории: [заметки с семинара кавказоведов]//РА. - 2012. - 15-16 дек., (№ 141). - С.2. Хотко С.Х. История Черкесии: в средние века и новое время/С.Х. Хотко. - СПб.: Изд-во С.-Петербург, 2001. - 552 с. |
Тугов, Владимир Батах-иԥа Абиографиа | Владимир Батах-иԥа Тугов афольклортә рҿиамҭақәа реизгареи рҭыжьреи адагьы даҿын урҭ рыҭҵаара. Иара иҭҵаарадырратә усумҭақәа шьақәгылоуп абазақәа рфольклортә материалқәа зегьы хәҭа-хәҭала иҭҵаау рыла. Иалшом иџьоумшьар зымҽхак ҭбаау иҭҵаарақәа, насгьы уамыҵашьыцыр залшом автор иҭиҵаауа аматериал заҟа имырхьаакәа амифологиатәи, аҭоурыхтәи, аетнографиатәи еилыркаагақәа ргәылагалара дақәшәо. Владимир Батах-иԥа Тугов акыр шықәса лҵшәа дула имҩаԥигоз аус азы ианашьан «Урыстәыла Афедерациа зҽаԥсазтәыз аҭҵаарадырратә усзуҩ» ҳәа ахьӡ. |
Тугов, Владимир Батах-иԥа Алитература | Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. Алиева А. Первая научная работа об абазинской литературе//Ком ал. – 1966. – 17 марта. Становление абазинской литературы//Ком.Ал. - 1966. – 5 нояб. – на аб. яз. |
Авикидыррақәа | Авикидыррақәа (, ) — адыррақәа рбаза еицҟаҵо аредакциа ззутәу бызшәарацәала ишьақәгылоу апроект ауп, ахьыманшәалоу иаарту алицензиала. Викимедиа афонд ари апроект иахагылоуп. Авикипедиеи ари афонд даҽа апроектқәеи иҭшәаны еиҿаԥшьу иҟоуп. |
Аҩӡба, Анатоли Мкан-иԥа | Анатоли Мкан-иԥа Аҩӡба (; диит , Ҟәланырхәа, Аԥснытәи АССР) — Аԥсны аҵарауаҩ аҩҭаҭәара ахкаҿы, Украина Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа алахәыла, Урыстәыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик. |
Агрба, Алексеи Сергеи-иԥа | Алексеи Сергеи-иԥа Агрба (; , Лӡаа – , «Коммунарка», Москва) — Аԥсны абольшевик, асовет политик: Аԥснытәи АССРи Қырҭтәылатәи ССРи Азербаиџьантәи АССРи Аахыҵ-Кавказтәи СФСРи рҿы аполитикатә усзуҩы. |
Бжьаниа, Царбеи Николаи-иԥа Абиографиа | Бжьаниа Царбеи Николаи-иԥа - иналукааша аԥсуа ҵарауаҩ. Ҵарауаҩык иаҳасабала иара интересла иҭиҵаауаз рымҽхак ҭбаан. Иара аус адиулон аԥсуа жәлар ретнографиа иазкыз иактуалтәыз апроблемақәа, азҿлымҳара азиуан жәлар рынхамҩа аҭоурых-еиҿырԥшратә ҭҵаара, иара убас аматериалтәии адоуҳатәии культура азҵаарақәа.Иара икалам иҵижьит ҩажәа рҟынӡа аусумҭақәа;аха рыцҳарас иҟалаз, иаанхеит анагӡара дахьымӡакәа зегь еидызкылоз имонографиа, асоветтә аамҭаз аԥсуа қыҭа аҭоурыхи аетнографиеи ртәы иазкыз. Ц.Н. Бжьаниа активла далахәын ҳтәыла ауаажәларратә, акльтуратә, ԥсҭазаара. Иара Аҟәатәи ақалақьтә партиа акомитет рҵаҩыс аус иуан. Аԥснытәи АССР Акультура аминистрраҿ асахьаркыратә хеилак далахәылан, Атуризм аинститут аҵарауаа рхеилак далахәын. Царбеи Николаи-иԥа Бжьаниа машәырла дҭахоит ирҿиара ианасакьаҳәымҭаз аамҭазы. |
Бжьаниа, Царбеи Николаи-иԥа Алитература | Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. «Из истории хозяйства абхазов. Этнографические очерки». - Сухуми: 1962. - 176 с. Куправа А. Слово о талантливом абхазском этнографе : [к 85 - летию Ц.Н. Бжания] / А. Куправа // РА. - 2010. - 2-3 нояб., (№124). - С.5. |
Адунеизегьтәи Аџьар Ҟаԥшьи Амзабжа Ҟаԥшьи рымш | Адунеизегьтәи Аџьар Ҟаԥшьи Амзабжа Ҟаԥшьи рымш — Лаҵарамза 8, 1953 шықәса раахыс иазгәарҭоит Адунеизегьтәи Аџьар Ҟаԥшьи Амзабжа Ҟаԥшьи рымш. Ари швеицариатәи агуманист Анри Диунан даниз амш ауп. Иара иаԥшьгарала, 1863ш. рзы имҩаԥган аконференциа, ихацзыркыз жәларбжьаратәи ахеилак Аџьар Ҟаԥшь аԥҵара. Жәларбжьаратәи ахеилак Аџьар Ҟаԥшьи Амзабжа Ҟаԥшьи еиднакылоит 175 тәыла рҟынтәи 400млн. инареиҳаны ауаа. МККК Аԥсны аибашьра ашьҭахьтәи аамҭазы имаҷымкәа ацхыраара рынаҭеит згәабзеира уашәшәыроуи лшарала ихьысҳауи ауаа. МКК имҩаԥнаго аус азы ауааԥсыра аӡәырҩы зхала зуадаҩрақәа ирызныжьу ракәны рхы рыԥхьаӡаӡом, ирымоуп уаҵәтәи амш азы агәыӷра. |
Адунеизегьтәи Аџьар Ҟаԥшьи Амзабжа Ҟаԥшьи рымш Алитература | Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. Красный Крест отметил 150-летие гуманитарной деятельности: [история создания Общества Красного Креста]//РА. - 2013. - 18-19 мая, (№ 53). - С.5. Кучуберия А. Бывшие подопечные Красного Креста без помощи не останутся/А. Кучуберия//КП. - 2011. - 8 апр., (№ 13). - С.6. |
Смыр, Гиви Шамел-иԥа Абиографиа | Гиви Шамел-иԥа Смыр - Афонҿыцтәи аҳаԥытә комплекс директорс дамоуп. Афонҿыцтәи аҳаԥы аартра ихьӡ адҳәалоуп. Гиви Смыр - аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара активла иалахәыз дреиуоуп; Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра (1992-1993шш.) далахәын. Деицырдыруеит абаҩхатәра злоу сахьаҭыхыҩны. Ахықәкынагӡареи аӷәӷәареи зцәаҩо иара искульптуратә усумҭақәагьы ирныԥшуеит арҭ аҟазшьақәа. Гиви Шамел-иԥа Смыр асахьақәа цәыргақәиҵахьеит Аҟәа, Гәдоуҭа, Москва. Исахьаҭыхымҭақәа ыҟоуп Токиотәи ауниверситет аҿгьы. |
Смыр, Гиви Шамел-иԥа Алитература | Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш. Абхазское искусство: живопись. Скульптура. Графика. Декоративно-прикладное искусство. XX век//Мин-во культуры РА; Союз художников РА; Гос. нац. карт.галерея РА; СПб. абх. об-во «Апсны». - Сухум: СПб.: «Рус.классика», 2004. - 136 с. Аргун А.Х. Развитие художественных традиций. - М., 1982. - 32 с. - 83 р. |
Ревва, Александр Владимир-иԥа | Александр Владимир-иԥа Ревва (; диит Донецк, Украинатәи ССР, СССР) — аурыс ашәаҳәаҩ, актиор, акомик иоуп. Ипсевдоним Артур Пирожков ауп. |
Мальта | Мальта (, ), аофициалтә хьӡы: Мальта Ареспублика (, ) — Европатәи адгьылбжьахатә тәыла Адгьылбжьаратә мшын аҟны. |
Кирибати | Кирибати ( ), аофициалтә хьӡы: Кирибати Ареспублика (, ) — Океаниаҿы Аокеан ҭынч агәҭантәи ахәҭаҿы адгьылбжьахатә тәыла ауп. |
Австриа-Венгриа | Австриа-Венгриа (, ), аофициалтә хьӡы: Австро-Венгриатәи амонархиа (, ) — аҭоурыхтә хәынҭқарра, 1867-1918 шықәсқәа рзы Цислаиҭаниеи () Транслаиҭаниеи () иреалу еидгыла иҟан. |
Маршаллтәи адгьылбжьахақәа | Маршаллтәи адгьылбжьахақәа (, ), аофициалтә хьӡы: Ареспублика Маршаллтәи адгьылбжьахақәа (, ) — Океаниаҿы Аокеан ҭынч агәҭантәи ахәҭаҿы адгьылбжьахатә тәыла ауп. |
Микронезиа | Микронезиа (), аофициалтә хьӡы: Микронезиа Афедеративтә Штатқәа () — Океаниаҿы Аокеан ҭынч адгьылбжьахатә тәыла ауп. Ари атәыла ԥшь-штатк рыла ишьақәгылоуп: Чуук, Кусаие, Понпеи, Иап. |
Науру | Науру (, ), аофициалтә хьӡы: Науру Ареспублика (, ) — Океаниаҿы Аокеан ҭынч адгьылбжьахатә тәыла ауп. |
Арӡынба, Адгәыр Амиран-иԥа | Адгәыр Амиран-иԥа Арӡынба (; диит ) — аԥсуа политик, 2015-2020 шықәсқәа рзы иара Апсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистр иҟан. |
Бениа, Роман Владимир-иԥа | Роман Владимир-иԥа Бениа (аур. Роман Владимирович Бения) — Аԥсуа политик, Аԥсны Жәлар Реизара 3-тәи ааԥхьара адепутат Пицундатәи алхырҭаҿы иҟан. |
Папуа-Гвинеиа ҿыц | Папуа-Гвинеиа ҿыц (, , ), аофициалтә хьӡы: Ихьыԥшым Аҳәынҭқарра Папуа-Гвинеиа ҿыц (, , ) — Океаниаҿы адгьылбжьахатә тәыла ауп, Гвинеиа ҿыц адгьылбжьаха мрагыларатәи ахәҭеи акыр Меланезиа адгьылбжьахақәеи рҿы иҟоуп. |
Лабахәуа, Архип Мирон-иԥа | Архип Мирон-иԥа Лабахәуа (, ; , Река, Аҟәатәи аокруг, Урыстәылатәи аимпериа — , Қарҭ, Қырҭтәыла) — Аԥсни Асовети аҳәынҭқарратәии ауаажәларратәии усзуҩ. |
Subsets and Splits