title
stringlengths 1
175
| text
stringlengths 63
16.4k
|
---|---|
Неру, Џьавахарлал Урысшәала иҭыжьыз иусумҭақәа | Неру Дж. Автобиография / Джавахарлал Неру / Пер. с англ.; Переводчики: В.В. Исакович, Д.Э. Кунина, В.Ч. Павлов, В.Н. Мачавариани, Б.В. Поспелов. — М.: Издательство иностранной литературы, 1955. — 656 с. (в пер.) Неру Дж. Открытие Индии / Джавахарлал Неру / Пер. с англ.; Переводчики: В.В. Исакович, Д.Э. Кунина, И.С. Кливанская, В.Ч. Павлов; Ред. перевода В.Н. Мачавариани. — М.: Издательство иностранной литературы, 1955. — 652, [24] с. (в пер.) Неру Дж. Внешняя политика Индии. — М.: Прогресс, 1965, — 352 с. |
Ауааԥсыра рыҿиара аиндекс | Ауааԥсыра рыҿиара аиндекс – уи атәылақәа реиҿырԥшразы иҭырҵаауа аинтегралтә рбагоуп. Уи ауааԥсыра рыԥсҭазаареи рҵарадырреи рыҩаӡара, ауааԥсыра шаҟа ақәра нырҵуа, иара убас ауаа рыԥсҭазаара егьырҭ аганқәа зеиԥшроу шьақәнаргылоит аҭҵааразы. |
Ауааԥсыра рыҿиара аиндекс Ауааԥсыра рыҿиара аиндекс ианаго | Ауааԥсыра рыҿиара аиндекс – уи атәылақәа реиҿырԥшразы иҭырҵаауа аинтегралтә рбагоуп, иара ашьақәыргыларазы иахәаԥшуеит ауааԥсыра рыԥсҭазаареи рҵарадырреи рыҩаӡара, ауааԥсыра шаҟа ақәра нырҵуа, иара убас ауаа рыԥсҭазаара егьырҭ аганқәа зеиԥшроу аилкааразы арбагақәа. Ауааԥсыра рыҿиара аиндекс атәылақәеи арегионқәеи реиҿырԥшразы зегьы еицырзеиԥшу мыругоуп. Атермин ахаҭа англыз бызшәала Human Development Index (HDI) абас ирыҩуеит. Иҟоуп еиҭагоу аматериалқәа рҿы уи агуманитартә ҿиара аиндекс ҳәа иахьашьҭоугьы. Ауааԥсыра рыҿиара ауаҩы изинқәа рыхьчара иадҳәалоуп, уи атәылаҿы иқәынхо ауааԥсыра зегьы рзы апотенциал ашьақәыргылараҿы ицхыраагӡоуп. 1990 шықәса раахыс Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иҭнажьхьеит 800 инарзынаԥшуа ауааԥсыра рыҿиара иазкыз ажәахәқәа. 2018 шықәсазы ауааԥсыра рыҿиаразы ажәахә аҿы иарбоуп 189 тәыла, аҟаҵарбақәа рышьақәыргыларазы рхы иадырхәоит 2017 шықәсазтәи адыррақәа. Уахь иаҵанакыз атәылақәа рҟынтә 59 иреиҳаӡоу аҿиара аиндекс рымоуп, 53 – иҳараку аиндекс, 39 – абжьаратә индекс, 38 – тәыла илаҟәу аҿиара аиндекс рымоуп. |
Ауааԥсыра рыҿиара аиндекс Ауааԥсыра рыҿиара аиндекс аҭоурых | Хаҭала уаҩык иҿиара зеиԥшроу аилкаара уадаҩуп, уи ианыԥшуеит атәылаҿы иҟоу аекономикатә ҭагылазаашьа адагьы, иара ипотенцаил атәылаҿы рхы ишадырхәогьы. Аиндекс шьақәыргылан 1990 шықәсазы гәыԥҩык аекономистцәа рыбзоурала, дара ргәыԥ напхгара аиҭон пакистантәи аекономист Махбуб уль-Хак. Иара 1985–1988 шықәсқәа раан Пакисҭан афинансқәа рминистрс дыҟан. 1996 шықәсазы иара ақалақь Исламабад еиҿикааит ауааԥсыра рыҿиара аиндекс Ацентр. Уаҟа Аладатәи Азиа арегион аҿы иқәынхо ауааԥсыра рыҿиара апотенциал зеиԥшроу аилкааразы анаукатә ҭҵаара мҩаԥыргоит. Махбуб уль-Хак иԥсҭазаара далҵит 1998 шықәсазы, иара иаҳаҭыр азы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иаԥшьнагеит аҵарауаҩ ихьӡ ала апремиа. Уи ранаршьоит адунеии арегионқәеи рҿы аҵарауа ауааԥсыра рыҿиаразы злагала дуу. Исламабад акәзар, еиҿкаауп ацентргьы, Махбуб уль-Хак ихьӡ зху. Аҵарауаҩ иихәыцыз аконцепциа, амилаҭтә ҿиара азҵаараҿы ановатортә ҟазшьа аман. Махбуб уль-Хак дицхрааит иара иҩыза – индиатәи аҵарауаҩ, Нобель ипремиа алауреат Амартиа Сен. Дара ауааԥсыра рыҿиара аиндекс анырыԥхьаӡоз иаларгалеит Платони Аристотели злацәажәоз «анасыԥ аформат». Ауаҩытәыҩса аҿиара аконцепциа агуманисттә ҟазшьа аҭаны раԥхьаӡа далацәажәеит Иммануил Кант. Иара дызусҭазаалак ауаҩы ихаҭара ауп зегь реиҳа ихадоу, зыхә ҳаракны ишьатәу ҳәа иԥхьаӡон. Кант иусумҭа «Критика чистого разума» ҳәа хьӡыс измоу аҿы ус иҩуан: «Хықәкыс иҟоу ауаҩы иоуп, дарбанзаалак, Анцәагьы уахь дналаҵан, имам азин ауаҩы хархәагак еиԥш изныҟәара». Ауааԥсыра рыҿиаразы еиуеиԥшым ажәахәқәа рҿы ишазгәарҭо ала, ауаатәыҩса рпотенциал аекономикатә ҿиара мацара акәӡам ианыԥшуа. Уи анырра анаҭоит атәылаҿы аалыҵ иҭрыжьуа аҩаӡара зеиԥшроугьы. Аекономика, ауааԥсыра рыҿиара иацхраарц азы, атәылаҿ иҟоу амали аекономикатә лшарақәеи зегьы еицырзеиԥшзар ауп, еиҟараны зегьы ахархәаразы азин рымазар ауп. Иҟазар ауп аусурҭатә ҭыԥқәа, амамзаареи аӷарреи маҷзар ауп, еиҟаразар ауп ахацәеи аҳәсеи рзинқәа, аҵареи амедицинатә цхыраареи зегьы еиҟараны ироуроуп, асоциалтә еиҟарамра аԥыхтәуп. Ус аҳәынҭқарра еиҳа ауаҩы изааигәахоит ҳәа рыԥхьаӡоит. Аекономикатә ҿиара ари аҭагылазаашьаҿы ауаҩы идыррақәа рхархәаразы алшара инаҭар ауп. Ауаҩы ипотенциал ахархәараҿы апроблемақәа анцәырҵуа аҿиара ҟалаӡом, убри аан еиҳа ихадахоит ауаажәларра, аекономика, аҳәынҭқарра. |
Ауааԥсыра рыҿиара аиндекс Аиндекс аконцепциақәа | 1990 шықәсанӡа иҿиахьаз, зекономикақәа шьақәгылахьаз атәылақәа рҭагылазаашьа еилыркаауан. Еиҳарак изхәаԥшуаз урҭ атәылақәа рекономикақәа шаҟа ирласны иҿио, ауааԥсыра ирымоу амал зеиԥшроу, атауарқәа рҭыжьразы рҭагылазашьа, иара убас амаҵзурақәа русурақәа шышьақәгылаз ауп. Аха, 1990 шықәсазы еилкаахеит уи амодель алҵшәа шамам. Убри аҟнытә, ауаажәларреи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа ҩбеи (Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара, Адунеизегьтәи абанк) еиқәдыршәеит 4 – концепциак. Аконцепциақәа еицырзеиԥшны иҟаз, дара шьагәыҭс ирымаз – аҿиараҿы ауаҩы иакәын хықәкы хадас иҟаз. Раԥхьатәи аконцепциа: ауааԥсыра рыҿиара аконцепциа – 25 шықәса раԥхьа ицәырган. Питирим Сорокин абас иҩуан: «Ауаажәларра зеиԥшразаалак, иара алахьынҵа знапы иану уи иалоу ауаа роуп. Ауаажәларра ахшыҩ змам, игаӡоу ауаа рыла ишьақәгылазар, аҿиарагьы залшом. Зыхшыҩ бзиоу, аҟыбаҩ злоу ауаа рацәа ахьыҟоу атәылақәа рҿы ауаажәларрагьы еиҳа хымԥада еиҿкаауп, аицынхаразгьы еиҳа иманшәалоу аформа шьақәгылоуп. Ажәларқәа рҭоурых, дара рыҿиареи рыиаӡӡаареи, ахшыҩ азышьҭны уанахәаԥшуа иубоит, уи зегьы зыхҟьо ауааԥсыра рхаҭашьа аҽаԥсахуеит аҟнытә ауп». Ауаажәларра ирымоу аресурс хада – ауаа роуп, шаҟа рҵарадырреи, рдоуҳатә культуреи ҳараку еиԥш, иҳаракхоит аресурсгьы. Ауааԥсыра рыҿиара аиндекс арбагақәа 1990 шықәса раахыс Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара имҩаԥнаго аҿиара апрограмма аҩныҵҟа есышықәсатәи аҳасабрбақәа рҿы ианырҵоит. |
Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы фонд | Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы фонд, ИуНИСЕФ () – жәларбжьаратәи еиҿкаароуп, аус ауеит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара анапаҵаҟа. Иара аԥҵан 1946 шықәса, декабр 11 рзы, Еиду Америкатәи Аштатқәа рҿы, Ниу-Иорк. Раԥхьаӡа акәны, 1940 шықәсазы Ахәыҷтәы фонд аԥҵара аидеиа рылеиҳәеит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аусбарҭаҟны Польша хаҭарнакра азызуаз, ацхыраара аҟаҵара знапы алакыз Лиудвик Реихман. |
Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы фонд Аҭоурыхтә фактқәа | Ари аидеиа адгылара аиуит 1946 шықәсазы, ассамблеиа хада аилатәараҿы – аӡбамҭагьы рыдыркылеит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҟәшак аҳасаб ала Ахәыҷтәы фонд аԥҵаразы. Афонд аҳасабтәқәа иреиуан, ахҵәацәа аамҭалатәи рлагерқәа рҿы инхоз, мамзаргьы аибашьра ашьҭахь еилаԥыххааз ақалақьқәа рҿы инхоз ахәыҷқәа зегьы ацхыраара рыҭара. Арбагақәа рыла урҭ ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара ҩажәа миллионҩык рҟынӡа инаӡон. Афонд анаԥҵахаҵәҟьа, иара анагӡаратә директорс дҟаҵан Морис Пеита. Афонд аусура раԥхьатәи хышықәса ирылагӡаны агәыҳалалратә ус ду мҩаԥнагеит. Иныхын 112 миллион доллар. Жәаҩа тәыла рҟны хә-миллионҩык ахәыҷқәеи анацәеи амаҭәа рызшан, аа-миллионҩык ахәыҷқәа арԥҳа чымазара аҟынтәи алаҵақәа рзыҟаҵан, иара убас еиҭашьақәдыргылон ахшлыҵ ааглыхра. Европа аекономика анышьақәгыла, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа хада аплан инақәыршәаны, 1953 шықәсазы аӡбамҭа рыдыркылеит Ахәыҷтәы фонд аусура аамҭа иацырҵарц ԥымкрада, убри аан иара анапынҵақәагьы дырҭбаарц. Афонд амчхара дәықәҵан зыҿҳәара дуу апрограммақәа рахь, гәҭакыс ирыман аҿиара иаҿу атәылақәа рхәыҷқәа ргәабзиарахьчареи рыфатә аалыҵи реиӷьтәреи. Абарҭ аиҭакрақәа ҳасаб рзуны, афонд рыдыркыло иалагеит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара еснагьтәи аусбарҭа акәны. 150 миллион доллар афонд аҟынтәи ирықәхарџьын ҩынҩажәижәабатәи ашықәсқәа рзы арыԥҳа чымазареи, ашыӡи уҳәа усҟантәи аамҭазы аларҵәара змаз ачымазарақәа рыхәышәтәра. Агәыҳалалратә усура еиԥш, имҩаԥыргон аҵарадырратә усурагьы, афонд ирыланарҵәон асанитартә ԥҟарақәа, иреилнаркаауан акрыфара хадара шалоу. Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара афатәи, ақыҭанхамҩатә еиҿкаареи, агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаареи аус рыцуа, Ахәыҷтәы фонд ацхыраара ҟанаҵон ахш аалыҵқәа ахьыҟамыз араионқәа рзы апротеин рацәаны излаз афатә аус адулара аҟны. Аамҭақәак рышьҭахь, Ахәыҷтәы фонд асоциалтә цхыраара рзыҟанаҵон ахәыҷбаҳчақәа, аҿар рзы аклубқәа раартра аҟны, иаԥырҵон аконсультациақәа аҭаацәа зегьы рзы. 1961 шықәсазы, ашықәс аихшьаалақәа рҟны анагӡаратә хеилак алаҳәара ҟанаҵеит Ахәыҷтәы фонд аполитика аиҭакрақәа шалагалахо. Иназыцҵоу функциақәак раҳасаб ала афонд аҳәамҭа ҟанаҵеит хазы игоу тәылақәак ацхыраара рыҭаразы. Ихацыркын арҵаҩцәа разыҟаҵара финансла аиқәыршәара. Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы фонд аҵакы ахәшьара аҭауа, 1965 шықәса рзы иара ианаршьоит Нобель ипремиа, жәларбжьаратәи аҩаӡараҟны аиашьара ашьақәырӷәӷәаразы. Апремиа анашьара ашьҭахь дук мырҵыкәа иԥсҭазаара далҵуеит Морис Пеит, убри инамаданы апремиа идикылеит анагӡаратә директор ҿыц Генри Лабуисс. Ари аҳамҭа афонд аусра ахәшьара хада азҭаз акакәны иҟалеит. ИУНИСЕФ, аԥҵан аамҭала аҭагылазаашьа ҷыдақәа риааиразы, Европа аибашьра ашьҭахь хылаԥшрада, напыда инхаз ахәыҷқәа ацхыраара рыҭаразы. Анагӡаратә директор Нобель ипремиа иацыз аԥарақәа рыла еиҿикааит Морис Пеит иаҳаҭыр азы апремиатә фонд. Есышықәса ари апремиа ацхыраара ҟанаҵоит ахәыҷра ахьчара зхы азызкыз ауаа разыҟаҵара аиӷьтәразы. 1975 шықәсазы Ахәыҷтәы фонд есышықәсатәи абиуџьет раԥхьаӡа акәны 100 миллион доллар еиҳахеит. |
Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы фонд «Аҭынчра абџьар» хархәара азуа | ИУНИСЕФ анагӡаратә директор Анри Лабуисс апремиа анашьара ашьҭахь аиҿкаара ахьӡала иқәгылараан иазгәеиҭеит ахәыҷқәа зегьы аҵарадыррала реиқәыршәара шхымԥадатәу. Ҵарадырралеи информациалеи еиқәшәоу ахаҭарақәа рышьақәыргылара адунеи иқәынхо ауаа зегьы анырра рнаҭоит, агәреибагара рыбжьалоит. Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы фонд агәабзиарахьчара, аҵарадырра аларҵәара, ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчара асубсидиақәа рзоузыжьуа, жәларбжьаратәи институтк аҳасабала иалшеит ахәыҷқәа рыцхыраареи амилаҭтә ҿиареи аимадара рыбжьаҵара. Иароуп иаазырԥшыз ахәыҷқәа рроль аԥхьаҟа аекономикатә, асоциалтә еиҭакрақәа рымҩаԥгараҟны. Ахәыҷтәы фонд аиҳабырақәа аус рыцнауеит, урҭ рыбжьара аусеицура рзеиԥш хықәкы еихьӡарала анагӡара алнаршоит. Иаҳҳәап, Ахәыҷтәы фонд тәылак аҿы ахәыҷқәа рыцхырааразы апроект долларк ахҭнырҵазар, иара атәыла аиҳабырагьы убри аҟара ахҭнырҵароуп. Ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы иқәгылоу ИУНИСЕФ аҳасабтәқәа иреиуоуп – ахәыҷқәа ргәабзиара ахьчара аҿиара, ауаатәыҩса рпрогресс иузаҟәымҭхо, азеиԥш ҿиара ихымԥадатәу дҵаны ишыҟоу, жәларбжьаратәи аилазаара еилыркаартә аҟаҵара. |
Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы фонд Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы фонд аусура аструктуреи апринципқәеи | Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы фонд аусбарҭа хада акәны иҟоуп Анагӡаратә хеилак, уи Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Аекономикатә, Асоциалтә хеилак иалнахуеит хышықәса ҿҳәарас иаҭаны. Анагӡаратә хеилак иалоуп 36 ҳәынҭқарра рҟынтәи ахаҭарнакцәа. Афонд аусура напхгара арҭоит амаӡаныҟәгарҭеи анагӡаратә директори. Ари амаҵура 2010 шықәса раахыс дахагылоуп Ентони Леик. ИУНИСЕФ иалнакаауа аҳасабтәқәа рахь иаҵанакуеит, ус иагьаанхоит – ахәыҷқәа ианхәыҷӡоу инаркны рыҿиара ацхраара, иҷыдоу ахәыҷқәа рхылаԥшра, ачымазарақәа раԥырҟәҟәаара, иара убас, ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчара. Ахәыҷтәы фонд ихадоу ароль ааннакылоит авакцинатә шәарҭадара аԥҵараҟны, убри аан ахәыҷтәы вакцинақәа рҭахрақәа 40% процент рҟынӡа ахахьы иагоит. ИУНИСЕФ, иара убас, авакцинациеи аиммунизациеи рыпроблемақәа рзы зымҽхак ҭбаау алианс аԥҵаҩцәа иреиуоуп. Иара убас, афонд ООН агәыҳалалратә цхыраара азназго ирхадоуп. 2011 шықәса, ииун мзазы ООН Ахәыҷтәы фонд Мрагыларатәи Агәҭатәи Европа атәылақәеи Абжьаратәи Азиеи реиҳабырақәа рахь ааԥхьара ҟанаҵеит, «Хышықәса рхыҵаанӡа ахәыҷқәа аинтернат ахь рнагара аанкылара» захьӡыз акомпаниа рҽаладырхәырц. Аҳәынҭқарратә интернатқәа рҟны ахәыҷӡақәа рыҟазаара урҭ рҿиараҟны анырра бааԥс ҟанаҵоит ҳәа аспециалистцәа излазгәарҭаз ала. Аԥышәара иаанарԥшит, хымз асеиԥш аусҳәарҭаҿы ахәыҷы иҟазаара иалагӡаны, иара иеизҳараҟны мызкы даҵахоит, аҭаацәараҿы изызҳауа иаасҭа. Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы фонд имҩаԥнагоит иполитикатәым, ганкы мацара иадымгыло аусура. Убри аҟнытә аԥыжәара рнаҭоит ахәыҷқәа, ииашаҵәҟьаны зегь раасҭа ацхыраара зҭаху. ООН апартниорцәеи агәыҳалалратә еиҿкаарақәеи аус рыцура акәзар, иаарласны хықәкылатәи ацхыраара аҟаҵара алнаршоит. |
Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы фонд ИУНИСЕФ финансла аиқәыршәара | Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы фонд агәра ганы иҟоуп, адунеизегьтәи апрогресс шзалымшо ахәыҷқәа зегьы инхарҭәааны рыҿиара ада. Убри аҟнытә, афонд аусура зегьы шьақәгылоит абри апозициала. ИУНИСЕФ еснагь аполитикцәеи еиуеиԥшым аҳәынҭқарратә еиҿкаарақәеи рахь ааԥхьара ҟарҵоит аусеицуразы, адгылара рырҭоит, инарыгӡоит апрограммақәа, ахәыҷқәа ргәабзиарахьчареи, урҭ ринтеллектуалтә ҿиареи хықәкыс измоу. ИУНИСЕФ Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҟынтәи аԥара аиуӡом, иара аусура шьақәгылоуп агәыҳалалратә шьаҭала. Аусура мҩаԥысуеит аиҳабырақәа, акорпоративтә еиҿкаарақәа, хаҭала ауаа иҟарҵо алагалақәа рыла. Аҩбатәи ацхыраара афонд иаиуеит хықәкылатәи апрограммақәа рзы атәылақәа-адонорцәа рҟынтә. Алагалақәа рҟынтәи хынҩажәа процент ИУНИСЕФ идәықәнаҵоит ихьысҳан иҿио атәылақәа рахь, убри аҟнытә аԥарақәа рыбжа Африка атәылақәа рахь ицоит. Ибжьаратәу ахашәала змоу атәылақәа ирзоурыжьуеит ахыԥхьаӡара зегь ахьтә ԥшь-процентк. Ҳазну аамҭазы афонд есышықәсатәи абиуџьет 5 миллиард доллар ыҟоуп. |
Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы фонд Дарбанзаалак ахәыҷы изин ахьчара – ИУНИСЕФ ахықәкы хада ауп | ИУНИСЕФ аусура азырхоуп, иарбан регионзаалак рыструктурақәа зегьы зҿлымҳара рырҭаларц еиҳа ихьысҳау ахәыҷқәа. Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы фонд аусура апринципқәа инарықәыршәаны ишьақәнаргылеит 10 хықәкык, ахәыҷқәа рыпроблемақәа рыӡбара знапы алаку аинститутқәа рырӷәӷәара хырхарҭас измоу. Урҭ рахь иаҵанакуеит: • ахәыҷы игәабзиара ахьчаразы азин; • аҭаацәараҿы ихылаԥшразы ахәыҷы изин; • азинӡбарҭахь ԥынгылада анеиразы ахәыҷы изин; • иқәра анмаҷу инаркны аҵара аиуразы ахәыҷы изин; • зхаҭабзиара ҳараку аинклиузивтә ҵарадырра аиуразы ахәыҷы изин; • ВИЧ-инфекциа ада аиразы ахәыҷы изин; • ҳәаада аҭагылазаашьа маншәалазы ахәыҷы изин; • асоциалтә хьчаразы ахәыҷы изин; • асоциалтә хьчара апрограммақәа рзы ахәыҷы изин; • арыцҳара иацәыхьчара азы ахәыҷы изин; • иԥсҭазаара аҩбатәи ажәашықәсахь аиасра, аҩбатәи ашанс аиуразы ахәыҷы изин. |
Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы фонд Урыстәыла аҵакыраҿы ИУНИСЕФ аусура | Урыстәыла ИУНИСЕФ ахаҭарнакра аусура иалагеит 1997 шықәса, март мзазы. Аусеицура знапы алакыз Урыстәыла Агәабзиарахьчареи асоциалтә ҿиареи рминистрра акәын. Партниорцәа хаданы иҟан Аҵареи аҵарадырреи, Адәныҟатәи аусқәеи, Аҩныҵҟатәи аусқәеи, Аиустициеи рминистррақәа, иара убас аҳәынҭқарратә мчрақәа ррегионалтә усбарҭақәа. ИУНИСЕФ иара ианаамҭаз Урыстәыла асоциалтә программақәа жәпакы мҩаԥнагон. Иаагозар, аԥшьгамҭа «Ҷыдала ахьчара зҭаху ахәыҷқәа» азкын зҭагылазаашьа уадаҩу ахәыҷқәа, еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны зҭаацәа зыԥхаз, аинтернатқәа, мамзаргьы амҩаду ианхалаз ахәыҷқәа ацхыраара рыҭара. Даҽа программак, афонд аус зыднаулаз — «Аҿар ргәабзиареи рыҿиареи» азкын «аҿар рахь аиҩызаратә еилазаара», аҿартә информациатә центрқәа, асоциал-ԥсихологиатә цхыраара амодель аус адулара, ақәыԥшцәа раԥшьгамҭақәа рыдгылара. Еиҿыркаауан, иара убас, егьырҭ зымҽхак ҭбааз апроектқәа. Урыстәыла Ахәыҷтәы фонд хшыҩзышьҭра арҭон, убасгьы, ахәыҷы изинқәа рзы аконвенциа, ахәыҷқәа ирызкыз Адунеизегьтәи аиҿкаарақәа рыҿиара. Иазгәаҭатәуп, иара убас, Нхыҵ Кавказ аибашьра иахҟьаны ааха зауз ахәыҷқәа ацхыраара рыҭара иазкыз ИУНИСЕФ хазы игоу апрограмма. 2005 шықәсазы Ахәыҷтәы фонд Урыстәыла еиҿнакааз апроектқәа рыхә 2,5 млн. доллар инаӡоит. Афонд ахылаԥшрала Урыстәыла имҩаԥысуан акультуреи аҟазареи русхк аҿы жәларбжьаратәи ауснагӡатәқәа. Есышықәса Ахәыҷтәы фонд Урыстәыла имҩаԥнагоз аусурақәа рзы аҳасабырба азнархион, урҭ апрессаҿ иркьыԥхьуан, астол гьежьқәа рҿы ирылацәажәон. Аҽалархәразы иаарыԥхьон амчрақәеи ауаажәларреи рхаҭарнакцәа. Аха, 2009 шықәса сентиабр 4 рзы Урыстәыла ахада иҟаиҵаз аӡбамҭала ИУНИСЕФ ахаҭарнакреи афондқәеи Урыстәылатәи Афедерациаҟны иаанкылан. |
Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы фонд ИУНИСЕФ Европеи Агәҭатәи Азиеи рҟны апандемиа инамаданы аҭактә уснагӡатәқәа аднакылоит | ИУНИСЕФ алшарақәа зегь еизнакит Европеи Агәҭатәи Азиеи KOVID-19 аламырҵәаразы, ихьысҳау ахәыҷқәа апандемиа рацәыхьчаразы. Русураҿы рхы иадырхәон ахәыҷқәа ргәабзиара, рҵарадырра ахьчаразы уаанӡа ирымаз аԥшьгарақәеи идырҳаз адыррақәеи. Ахәыҷтәы фонд аус рыцнауан ООН асистема иаҵанакуа аиҳабырақәеи аусбарҭақәеи, иара убас еиҳабыратәым аиҿкаарақәа, апандемиа иадҳәалоу аҭактә уснагӡатәқәа рыдкылара хықәкыс иҟаҵаны. Афонд рыцхраауан аиҳабырақәа, зыда ԥсыхәа ыҟам ахыхьчаратә хархәагақәа раахәараҟны, адизинфекциатә хархәагақәа, амедицинатә мыругақәа уҳәа уб. иҵ. Адунеитә џьырмыкьаҿы иҟоу аԥкрақәа ирызхьамԥшкәа, ИУНИСЕФ Европеи Агәҭатәи Азиеи ртәылақәа реиҳарак рахь идәықәырҵеит ацхыраара. Аҵара аминистррақәа аус рыцуа, афонд еиҿнакааит аҵара апрограмма, иара убас ацифратә платформақәа, адистанциатә ҵара аларгалеит жәаф тәыла рҿы. COVID-19 инамаданы ашәарҭадараз, ахьчараз, ахәыҷқәа позитивтәла рааӡаразы, адырра рыҭан шәнызқьҩыла ахәыҷқәа, аҭаацәа, бызшәарацәала иҟаҵаз аматериалқәа, авидео, асоциалтә ҳақәа, иара убас аинновациатә, аинтерактивтә платформақәа рыбзоурала. Ачымазара ҿкы анырра бааԥс ҟанаҵеит миллионҩыла ахәыҷқәеи аҭаацәеи рыԥсҭазаараҟны. Убарҭ зегьы ҳасаб рзуны ИУНИСЕФ ацхыраара рнаҭоит арегион зегь аҟны инхо ахәыҷқәа. |
Иугославиатәи аибашьрақәа | Иугославиатәи аибашьрақәа – ари 1991–2001 шықәсқәа рыбжьара уаанӡатәи Иугославиа аҵакырадгьыл аҟны аҭыԥ змаз, атәыла хзырбгалаз бџьаршьҭыхлатәи конфлитқәоуп. Иугославиатәи аибашьрақәа реиҳарак асербцәа рыбжьара аҭыԥ змаз амилаҭбжьаратә конфликтқәан, асловенцәеи, ахорватцәеи, абоснииццәеи, албанеццәеи рганахь ала. Даҽа ганкахьала ахорватцәеи абосниеццәеи рконфликт, насгьы аконфликт раԥхьа ахорватцәа рганахь ала адгылара змаз, аха анаҩс Мраҭашәаратәи Босниатәи Ареспублика асербцәеи, Алиа Изетбегович дызхагылаз Ареспублика Босниа Герцеговина аԥсылман мчрақәеи, Ҩадатәи Македониа македониааи албаниааи рыбжьара аконфликт, аетникатәи адинхаҵаратәи еиҿагыларақәа рыла ицәырҵыз. Иугославиатәи аибашьрақәа Адунеизегьтәи Аҩбатәи аибашьра анаҩс Европа иахьаҵанакуа зегь реиҳа ишьаарҵәыраз еибашьрақәан. Арҭ аибашьрақәа раан аҭыԥ змаз ацәгьоурақәа рыҭҵааразы иаԥҵан уаанӡатәи Иугославиа азы Жәларбжьаратәи атрибунал. |
Иугославиатәи аибашьрақәа Аҭоурых. Амилаҭбжьаратә конфликт | Афедеративтә Республика Иугославиа – абас ахьӡын уаанӡатәи балкантәи атәыла. Иара акыр ареспубликақәа рыла ишьақәгылаз социалисттә тәылан. Уаанӡа иара Иугославиатәи Акралра ҳәа ахьӡ аман, уи ахьӡ аиуит 1929 шықәса рзы Балканы, Сербиа, Черногориа ҳәынҭқарракны ианеидыла ашьҭахь. Иугославиа – ари мрагыларатәи аславианцәа рыдгьыл ауп. Ас еиԥш аилазаара ала ари атәыла Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьранӡа иҟан. Уи аҵакырадгьыл 247542 кв.метра аҵанакуан. Аибашьра ашьҭахь Иугославиа аҵакырадгьыл, Афедеративтә Республика Иугославиа ҳәа ахьӡ змаз, акыр иацлеит, уи иаҵанакуа иҟалеит 255804 кв. км. 1999 шықәса рзтәи адыррақәа рыла, атәыла аҟны инхоз ауааԥсыра рхыԥхьаӡара 24 миллионҩык рҟынӡа инаӡон. Уи аилазаара иалалеит даҽа ԥшь-республикак. Уахь иаҵанакуеит: Босниеи Герцеговинеи, Хорватиеи Мраҭашәаратәи Македониеи, иара убасгьы Словениа. Абри аилазаара ала Афедеративтә ҳәынҭқарра шәышықәсеи бжаки ишьақәгыланы иҟан. 2003 шықәса рзы балкантәи аҳәынҭқаррақәа рхеилак хыбгалеит. Сербиеи Черногориеи, Иугославиа, шьаҭас иамаз, 2006 шықәса рзы дара-дара еидыҵит. Ишьақәгылеит ихьыԥшым даҽа ҩ-ҳәынҭқаррак: Сербиеи Черногориеи. Иугославиа даара идууз, европатәи аҳәынҭқаррақәа ируакыз, еснагь ахорватцәа, асербцәа, аԥсылманцәа ирзеиԥшыз ҩныкны иԥхьаӡан. Аха 90-тәи ашықәсқәа рзы уи даара иуадаҩыз амилаҭбжьаратә конфликт иалагалан. 1992 шықәса рзы Иугославиа азы милаҭтә трагедиахеит, иҭахеит зықьҩыла акагьы зхарамыз ауаа. Уиижьҭеи аҭоурых азы аамҭа ицахьо шмаҷугьы, ас еиԥш адраматә хҭысқәа зыхҟьази, уи ахҟьаԥҟьақәеи ахаҿаагара аҭахны иҟоуп. |
Иугославиатәи аибашьрақәа Аҭыӡшәа зыхҟьаз | Иугославиа аҵакырадгьыл аҟны инхо ажәларқәа рыбжьара, аетникабжьаратә конфликтқәа даара иҵаулоу аҭоурыхтә шьаҭақәа рымоуп. 1371 шықәса рзы аславиан жәларқәа аҭырқәцәа асербцәа рҵакырадгьыл аҟынтәи иқәырцо иалагеит. Аҭырқәа-османцәа рыла Сербиа анапахьы аагара иахҟьаны, аславиан уаажәларра рыхәҭак аислам динхаҵарахь ихьанарԥшит. Ажәаатәи ашәышықәсазы Австриа знапаҵаҟа иҟаз Габсбургаа рдинастиа, анемеццәеи ачехцәеи рнапҟазацәа Воеводинеи Сербиеи рышҟа ииасны рынхара адгылара азыҟарҵон. Анаҩс, ари аҵакырадгьыл аҟны рынхарҭа аҭыԥқәа рыԥшааит: ауриацәа, абырзенцәа, аерманцәа, авенгрцәа. Аетникабжьаратә конфлитктқәа уаанӡагьы аҭыԥ рыман, жәаҳәарада, аха урҭ реиҳарак османаа, авенгрцәа, анемеццәа ирҿагылаз қәгыларақәан. Аҩбатәи Адунеизегьтәи аибашьра ашьҭахь иугославиатәи адгьылқәа аанрыжьит анемеццәа, Сербиаҟа акәзар, нхара инеит черногориатәи, герцеговинатәи, босниатәи асербцәа. Абарҭқәа ирыхҟьаны ари аҵакырадгьыл аҟны ауааԥсыра ретникатә еилазаара аҟны ахыԥхьаӡаратә еибакапанра аҭыԥ аиуит. Сербиаа еснагь Иугославиатәи аибашьра аҟны активла рҽаладырхуан, ишдыру еиԥш, ари аибашьра жәашықәса иреиҳаны ицон. Уи алагеит 1991 шықәса рзы, иагьхыркәшан 2001 шықәса рзы. Иугославиатәи аибашьра аҵакы аганахьала уахәаԥшуазар, асербцәа ринтересқәа ирконфликтын, уи ишьақәнаргылон лагерк: Харватиа, Албаниа, Босниа, Герцеговина ртәылауаа. Уи анаҩсангьы, амчрақәа реихшара аан Харватиеи, Босниеи, Герцеговинеи рыбжьара аконфликт аҭыԥ аман. Македониатәи аиҿагыларақәа – ари атәыла ахаҭарнакцәеи албанеццәеи рыбжьара арелигиатә ҟазшьа змаз аиҿагыларақәа, аетникатә адҳәалазаара иахҟьеит ҳәа ирыԥхьаӡоит. Ихадароу арратә цәгьоураны иԥхьаӡан агеноциди ауаатәыҩса ирзырхаз азинеилагарақәеи, урҭ аҭыԥ рыман аконфликт аҭыԥ аманаҵы. Иазгәаҭатәуп убас еиԥш афакт, Адунеизегьтәи Аҩбатәи аибашьра аан ишыҟамыз еидысларак, Иугославиатәи аибашьра аан еиԥш ишьаарҵәырахаз. Арҭ арра-граждантә хҭысқәа рыҭҵааразы еиҿкаан анкьатәи Иугославиазы Жәларбжьаратәи атрибунал, уи Гаага иҟан. Атрибунал иаҵанакуеит абас еиԥш аусбарҭақәа: аӡбарҭатә палатақәа ҩбеи апеллиациатәии. Урҭ аӡбаратә усмҩаԥгатәқәеи ахарадҵаҩы имаӡаныҟәгарҭеи ирхылаԥшуан. Иахьа Атрибунал 27-ҩык аӡбаҩцәа рыла ишьақәгылоуп, урҭ рахьтә 15-ҩык еснагь атрибунал аҟны аус зуа роуп. Даара аинтерес зҵоу фактуп, ари аиҿкаара аиурисдикциа иахьаҵанакуа, иалкаау ахаҿқәа ирзырхоу аӡбаратә процессқәа рымҩаԥгара. Анапхгараҭаратә усбарҭақәа русура акәзар, ари атрибунал урҭ ирзырхоу аӡбаратә процессқәа рымҩаԥгара азин амам. Иугославиазы Жәларбжьаратәи атрибунал аҟны зегьы иреиҳау хьырхәроуп ԥсраҽнынӡатәи арбаандаҩра. Иугославиатәи аибашьрақәа зегьы инықәырԥшны х-хәҭакны иушар алшоит, арҭ ахәҭақәа зегьы ахҭысқәа рыҿиашьа анырра ӷәӷәа арҭон. Актәи аетап аҩажәатәи ашәышықәса 90-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы иалкаауп. Уи иаҵанакуан Словениатәи аидысларақәа, урҭ жәамш ицон. Анаҩс Хорватиеи Босниеи рҵакырадгьылқәа рҟны ԥшьышықәса ицон аибашьра. Уи 1992 шықәса инаркны ԥхынҷкәынмза 1995 шықәсанӡа ицон. Аҩбатәи аетап алкаан Иугославиа иаҿагыланы ақәԥарала, НАТО ари аибашьра активла алахәхара ала. Уи цон 1995 шықәса инаркны 1998 шықәсанӡа. Ахԥатәи аетап акәзар, излалкаахаз Косово аҭыԥ змаз аидыслара ала ауп, уи хыркәшан Метохиеи ари арегион аҟны автономтә зхаҵареи рыла. Ари аибашьра цон 1998 шықәса раахыс, иагьхыркәшахеит аҩажәиактәи ашәышықәса ҿыц алагамҭазы Македониатәи аидыслара ала. Ас еиԥш ахҭысқәа ирылҵшәаны Иугославиа зхала иҟоу тәыланы аҟазаара аԥыхын, уи аҵакырадгьыл аҟны ицәырҵит хаз игоу аҳәынҭқаррақәа – Сербиа, Черногориа, Босниа, Герцеговина, Македониа уҳәа реиԥш иҟоу. |
Иугославиатәи аибашьрақәа Актәи бџьаршьҭыхлатәи аконфликт | Уаанӡатәи Иугославиа аҵакырадгьыл аҟны актәи бџьаршьҭыхлатәи аконфликт цәырҵит асербцәеи ахортватцәеи рыбжьара. Асербцәеи ахорватцәеи реиҿагылара аан иҭахеит 20-нызқьҩык рҟынӡа ауаа (асербцәа реиԥш ахорватцәагьы), ирбган акыр ақалақьқәеи ақыҭақәеи, ареспублика анхамҩа даара ааха ӷәӷәа аҭан, ихҵәацәаны иҟалеит 230-нызқьҩык рҟынӡа асербцәа. 1992 шықәса рзы жәларбжьаратәи аилазаара иҟанаҵаз ақәымчра ала анапы аҵаҩын аҭынчразы аиқәышаҳаҭра аибашьра аанкыларазы, насгьы уи ахацмыркразы, Хорватиа ихьыԥшымыз ҳәынҭқарраны иазхаҵан. 1991 шықәса рзы Босниеи Герцеговинеи инхон аԥсылманцәа-абосниеиццәа (44%), ақьырсиан дин ныҟәызгоз асербцәа (13%), ахорватцәа-акотоликцәа (17%). 1992 шықәса жәабранмзазы имҩаԥысит ихьыԥшым аҳәынҭқарра аԥҵара иазкыз ареферендум, аха уи алҵшәақәа босниатәи асербцәа ақәшаҳаҭымхеит. Дара ирҭахын рхатәы Босниа, ихьыԥшымыз амилаҭтә ҳәынҭқарра аԥҵара. Асербцәа азыхиан Сараевотәи аԥсылманцәеи ахорватцәеи ирыдгылоз ирҿагыланы ақәгылара. Сербиа аиҳабыра рҟынтәи адгылара зауз асербцәа иугославиатәи ар рыцхыраарала аграждантә еибашьра иалагоит. Уи аибашьра иалагалан автономиа зҭахыз аԥсылманцәа (Мраҭашәаратәи Босниа жәлар рхыхьчара), абошниакцәа (Босниеи Герцеговинеи рырратә архәҭақәа), насгьы ахорватцәа (Хорватиатәи вече, Хорватиа ар), иара убасгьы аибашьра иалахәын НАТО амчрақәеи қьырала еибашьуази. Ари арратә еиҿагылара аетникатә рыцқьарақәа ҳәа изышьҭаз ахылҿиааит, босниатәи ауааԥсыра реиԥш асерб уааԥсырагьы ирзырхаз. Аҭоурых арҵагақәа рҟны иазгәаҭоуп аграждатә еибашьра аҟны ишыҟам ииашоуи ахара здуи издыми. Ас еиԥш аибашьра аҟны иршьуа зхыршьаауа урҭ рполитикатә дунеихәаԥшышьа азакәӡам, урҭ зыхдырҟьо иалкаау жәларык иахьаҵанакуа азоуп, ари аибашьра даара игәымбылџьбароу еибашьроуп. Иахьагьы иуадаҩуп ауаа ари аибашьра иалахәу рыԥсихологиа аилкаара, избанзар урҭ ауаа акраамҭа еицынхон, рхәыҷқәа еицырааӡон, аус еицыруан, дара-дара еицхыраауан, еиԥшымзаарас ирымаз рдинхаҵареи рмилаҭтә аҵанакреи заҵәык ракәын, нас сааҭк аҩныҵҟа еиӷацәахеит, еибашьуа иалагеит. |
Иугославиатәи аибашьрақәа Деитонтәи аиқәышаҳаҭра | Ари аконфликт аганқәа зегьы досу рхатәы иашара рыман. Ас еиԥш азалымдаррагьы ахи аҵыхәеи аилкаара даара иуадаҩын, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаареи НАТО арбџьарымчқәа реиҟәшареи ари аконфликт ахы аланамырхәызҭгьы, изалыршахомызт 1995 шықәса рзы еибашьуаз аганқәа рыбжьара аҭынчра шьақәзыргылоз Деитонтәи аиқәышаҳаҭра анапы аҵаҩра. |
Иугославиатәи аибашьрақәа Иааркьаҿны ари адокумент аҵакы абас еиԥш иҟоуп уҳәар алшоит: | - уаанӡатәи Иугославиа ахәҭақәа Босниеи Герцеговинеи ҩ-хәҭакны ишьақәгылар ауп – Босниеи Герцеговинеи Рфедерациеи Сербтәи Ареспубликеи (асербцәа ироуит 49% аҵакырадгьыл, ахорватцәеи абосниеццәеи 51%); - ҿыц иаԥҵаз аҳәынҭқаррақәа рҵакырадгьылқәа рахь иалагалахоит НАТО арратә контингент; - араионқәа рҳәаа иашақәа шьақәнаргылоит Арбитражтә комиссиа; - амчра аҟынтәи иамххоит аконфликтқәа ирылахәыз аԥхьагылацәа, Жәларбжьаратәи атрибунал ала ацәгьоурақәа рзы ахара зыдҵаз; - аҳәынҭқарра ахада ифункциақәа нарыгӡалоит Апрезидиум шьақәзыргыло хҩык ауаа – ажәларцыԥхьаӡа рҟынтә ахаҭарнакцәа аӡәаӡәа; - Азакәанԥҵаратә мчы аанарԥшуеит ҩ-палатакны иҟоу Апарламенттә скупшьина: уи аилазаараҿы иҟалоит акы ахԥатәи ахәҭа Сербиатәи Ареспублика аҟнытә, ҩба ахԥатәи ахәҭа Афедерациа Босниеи Герцеговинеи рҟынтә; - амчра асистема зегьы аус аулоит Иреиҳау ахаҭарнак ихылаԥшра ала. |
Иугославиатәи аибашьрақәа Аибашьра ашьҭахьтәи Иугославиа | Аибашьра ашьҭахьтәи Иугославиа федеративтә ҳәынҭқарраны иаарԥшын, уи иаҵанакуан ареспубликақәа фбеи автономиақәа ҩбеи. Иугославиа ахыбгалара аламҭалазы, 90-тәи ашықәсқәа раан, уа инхоз ауааԥсыра рхыԥхьаӡара 10 миллионк рҟынӡа инаӡон, урҭ рахьтә: 62% – асербцәа, албанеццәа – 17%, черногориаа – 5%, аԥсылманцәа – 3%, авенгрцәа – 3% уҳәа егьырҭгьы. 90-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы Сербиеи Черногориеи, асербцәа еиҳа рхыԥхьаӡара ахьырацәаз, еидгылеит, иаԥырҵеит асоиузтә республика Иугославиа. Иаанхаз ԥшь-республикак (Хорватиа, Словениа, Босниа, Герцеговина, Македониа) ахьыԥшымра аиура иашьҭан афедералтә центр аҟынтәи. Избанзар, Македониа асербцәа рхыԥхьаӡара даара имаҷын, ари афакт азгәаҭо, ари ареспублика аинвесторцәа уиаҟара рылахь иааиуамызт азы иалшеит даара ирмарианы ахьыԥшымра аиура, имҩаԥгаз ареферендум иабзоураны. |
Иугославиатәи аибашьрақәа Босниатәи аибашьра алҵшәақәа | Босниатәи аибашьра иалҵшәахеит: - ауааԥсыра аҩныҵҟатәи рҭыԥԥсахра, дара рҽеидыркылеит ретно- динхаҵаратә хырхырҭақәа рыла; - ақәратә емиграциа анаҩстәи ашықәсқәа рзы: абосниеццәеи ахорватцәеи рыхынҳәра шьҭахьҟа, Босниеи Герцеговинеи рышҟа; - Босниеи Герцеговинеи еиқәхеит босниатәии хорватиатәии арегионқәа; - аҿар рыбжьара ахатәы идентификациа ӷәӷәахеит, ретникатә имшьҭра инамаданы; - аконфессиақәа зегьы рдинхаҵаратә еиҭаҿиара; - аконфликт зегьы аан иҭахеит 200-нызқьҩык инарзынаԥшуа ауаа; - аихамҩақәа зегьы рбган, ирбган акыр ирацәаны аргыларақәа, ихырбгалан х-нызқь инарзынаԥшуа анхарҭатә ҭыԥқәа, ҩ-нызқь километра амҩақәа ықәган. Деитонтәи аиқәышаҳаҭра Босниеи Герцеговинеи рконституциатә шьақәгылара ашьаҭа аҳаит. Ас еиԥш асистема акыр идузар, насгьы лҵшәа ӷәӷәак амамзар ауеит аха, уи агәреибагара ашьақәыргылара аамҭазы зда ԥсыхәа амам акәын ас еиԥш агәаҟрақәа зхызгаз ажәларқәа рыбжьара. Акырӡа шықәса шыҵхьогьы ари аибашьра хлымӡаах еилгеижьҭеи, уи иааннажьыз ахәрақәа макьанагьы имӷьац. Иахьа уажәраанӡагьы босниатәи ашколқәа рҟны ари аибашьра атәы ахәыҷқәа ирзеиҭарҳәаӡом. Иаарту зҵаароуп ажәларқәа реиныршәара азҵаара. |
Иугославиатәи аибашьрақәа Иугославиатәи аибашьра иазкны иҭыху афильмқәа | Убас еиԥш иҟалалоит, акраамҭа уашьҭоуп иалкаау темак иазку афильмқәа. Усҟан, ҿырԥштәыс иаагозар, иреиӷьу америкатәи афильмқәа жәаба ҳәа аԥшаара ҟауҵар, уи иаарласны иуԥшаар ауеит, аха иҷыдоу аспецифика змоу акы уанашьҭоу, ас еиԥш аԥшаара лҵшәадахар алшоит. Уаанӡатәи Иугославиа аҟны аграждантә еибашьра иазку афильмқәагьы зыԥшаара мариам рахь иаҵанакуеит, ари атема иазкны иҭыху афильмқәа шмаҷымгьы. Абар иреиӷьу ҳәа иалкааз Иугославиатә аибашьра иазку афильмқәа жәаба: Спасти Хэррисона (Harrison's Flowers – правильней было бы перевести как «Цветы Хэррисона»), 2000 ш. В тылу врага (Behind Enemy Lines), 2001 ш. Демоны войны (Demony wojny wedlug Goi, также есть перевод названия как «Псы войны»), 1997ш. Ничья земля (No Man's Land), 2001 ш. Вуковар (Vukovar, jedna prica) 1994 ш. Снайперы (Shot Through the Heart – также можно встретить название «Выстрел сквозь сердце»), 1998 ш. Жизнь как чудо – (Život je čudo), 2004 ш. Спаситель (Savior), 1998 ш. Перед дождем (Before the Rain), 1994 ш. Красивые деревни красиво горят (Lepa sela lepo gore), 1996 ш. |
Дебс, Иуџьин | Иуџьин Виктор (Џьин) Дебс (; , Терре-Xот, Индиана, ЕАА — , Елмҳерст, Илиноис, ЕАА) – Еиду Америкатәи Аштатқәа рҟны аусуцәеи армаратә ҵысреи русзуҩы, Америка Асоциалисттә партиа (1900–1901 ш. рзы), иара убас (1905 ш. рзы) азанааҭеидгылатә еиҿкаара «Адунеи аиндустриалтә усзуҩцәа» аиҿкааҩцәа дыруаӡәкын. Асоциалисттә партиа аԥхьагыла, уи апартиа аҟынтәи алхрақәа раан хәынтә кандидатс иҟаз, 6% рҟынӡа америкатәи алхыҩцәа рыбжьқәа роура зылшоз. |
Дебс, Иуџьин Абиографиа | Иуџьин Дебс далгеит 8 класск, 14 шықәса анихыҵуаз аусура далагеит, раԥхьа аихамҩа аусзуҩыс, нас амцаҭаҵаҩы ицхырааҩыс, аҵыхәтәаны 1870 ш. рзы афақьдәыӷба амцаҭаҵаҩыс аусура далагоит. Иуаажәларратә усура акәзар, уи хациркит алитературатә клуб Оксидентел, иқалақь гәакьа Терре-Хот аҟны, уахь еснагь ааԥхьара ала иқәгылон Роберт Грин Ингерсолли Сиузен Ентонии. Иуџьин Дебс иԥсҭазаара ахәҭак азаанаҭеидгылақәа раԥҵареи рырҭбаареи иазикит. Хыԥхьаӡара рацәала иаԥҵаз азанааҭеидгылақәа реидкылара дашьҭан. Аха игәҭакқәа зыҟамлеит. «Пульмановтәи ақәгыларақәа» рхыбгалара ашьҭахь – усҟантәи аамҭазы уи зегьы иреиҳаз амассатә қәгыларан, Дебс фымз иқәҵаны дҭаркуеит. Аӡбарҭаҿ уи дихьчон еицырдыруаз адукат Кларенс Дерроу. Дерроу (иара убасгьы америкатәи асоциал-демократцәа рԥыза Виктор Бергери) иоуп Дебс асоциалисттә ҵара дадзыԥхьалазгьы. Абахҭаҿ Едвард Беллами, Роберт Блетчфорд, Карл Каутски, Карл Маркс, асоциалистцәа русумҭақәа дрыԥхьон, Дебс еиликаауа далагеит, азаанаҭеидгыла ахаҭа, аполитикатә дгылара змам, аусуцәа рықәԥара аҟны ацхыраара дук аҟаҵара шзалымшоз. Раԥхьа Асоциал-демократиатә, анаҩс Еиду Америкатәи Аштатқәа Рсоциалисттә партиа аиҿкааҩцәеи аԥҵаҩцәеи ируаӡәкыз Дебс атәыла акәакьқәа акыр дырҭааны асоциализм атемала алекциақәа дрыԥхьон. 1904, 1908, 1912, 1920 - тәи ашықәсқәа рзы Иуџьин Дебс Америка Асоциалисттә партиа аҟнытә кандидатс дықәдыргылоит, Еиду Америкатәи Аштатқәа апрезидент иалхрақәа рзы алхратә компаниа аан. 1904 шықәса рзы акандидат Дебс 20-нызқьҩык рҟынӡа алхыҩцәа рыбжьы ирҭеит. 1908 шықәса рзы Дебс 500-нызқь инарзынаԥшуа абжьқәа иоуит. Аха апартиа иреиӷьыз алҵшәақәа аанарԥшит 1912 шықәса рзы апрезидент иалхрақәа раан, усҟан Дебс 901.551 бжьы иоуит – ари ишьақәнаргылеит 6% алхыҩцәа рыбжьы, абра иҳәатәуп ари иреиӷьыз лҵшәаны ишыҟаз «ахԥатәи апартиа» акандидат изы, америкатәи алхрақәа рымҩаԥысрақәа зегь раан. 1920 шықәса рзы Дебс икандидатура даҽа зныкгьы иқәыргылан, уи аамҭазы иара ашпионаж азы азакәан аилагаразы ахара идҵаны дышҭакызгьы, 913.664 бжьы иоуит – ари Асоциалисттә партиа акандидат изы зегьы иреиҳаз хыԥхьаӡаран алхрақәа рҭоурых аҟны. Анаҩс, 1921 шықәса рзы Дебс аполитика маҷк дацәхьаҵны агитациатә ус, асоциализм аларҵәара иазырхаз дазхьаԥшуеит. Иԥсҭазаара далҵаанӡа иара Америка ныҟәаҩык иаҳасаб ала дакәшон, уи аан иашьа Теодор Дебс идгылара иазырхаз алекциақәа мҩаԥигон. Иԥсҭазаара зегьы Дебс аԥара даргәаҟуан, ихазы, аиҿкаара азы, насгьы апартиатә газеҭи ажурнали рҭыжьразы, урҭ редакторцәас иаман иашьеи иареи. Абарҭқәа зегьы ракәын иара ирҳауаз зегьы зыхҭниҵоз. Азанааҭеидгыла ауалқәа раркразы Дебс иара ихьӡала акредитқәа анигозгьы ыҟан. |
Дебс, Иуџьин Дебс иҳәамҭақәа | «Иҟанаҵы иреиҵаӡоу акласс – сара урҭ срыҵаркуеит, иҟанаҵы ацәгьоуцәа – сара урҭ сыруаӡәкуп, аӡәы заҵәык иԥсы абахҭаҿы иҟанаҵы – саргьы схы сақәиҭым». Мшаԥымза 21, 1918 шықәса рзы – агазеҭ «Нью-Йорк колл» аҟны Дебс «Урыстәылатәи ареволиуциа аԥсы» захьӡыз астатиа икьыԥхьит, уа аусуцәеи, анхаҩцәеи, абольшевикцәеи – Урыстәыла ареволиуциа азаазгаз – дырзышәаҳәоит. «Ареволиуциа алахьынҵа зеиԥшразаалакгьы, – иҩуан Дебс, – уи амца зыӷроу аԥсы ԥсра ақәым, уи адунеи зегьы лашарала, хақәиҭрала, бзиабарала иарҭәуеит». Цәыббрамза 4, 1920 шықәса рзы. агазеҭ «Нью-дей» аҟны апрезиденттә алхратә компаниа аан Дебс иҩуан: «Еиҭакрак ҟаларц залшом, гәыԥҩык ауаа ҳтәыла рнапаҟны иҟанаҵы,уи амазара, аресурсқәа, аполитика хылаԥшра арҭонаҵы». |
Дебс, Иуџьин Иу. Дебс иԥсҭазаара ахроника | 1855–1894 шш. Абҵарамза 5, 1855 шықәса рзы ақалақь Терре-Хот (Индиана) диит Иуџьин Виктор Дебс. 1875 ш. – Дебс Адәыӷбақәа рымцеиқәҵаҩцәа Рыиашьара ашьаҭаркҩцәеи амаӡаныҟәгаҩцәеи дыруаӡәкхеит. 1875 ш. анҵәамҭазы – ақ. Терре-Хот аҟны иаԥҵаз алитературатә Оксидентал-клуб апрезидентс далхын. 1878 ш. – Ажурнал Адәыӷбақәа рымцеиқәҵаҩцәа Риашьара Амилаҭтә журнал аредактор ицхырааҩыс дҟаҵан. |
Дебс, Иуџьин 1879 ш. – адемократцәа ралхратә сиа ала, раԥхьаӡа акәны ақ. Терре-Хот амуниципалитет амаӡаныҟәгаҩыс далхын. | 1880 ш. – Адәыӷбақәа рымцеиқәҵаҩцәа Рыиашьара Амилаҭтә хеилак аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩыс дҟаҵан, иара убасгьы ари азанааҭеидгыла ажурнал аредакторс дҟалоит. 1884 ш. – ақ. Терре – Хот аҟнытә адемократцәа рхаҭарнак иаҳасабала, аштат Индиана азакәанԥҵаратә еизара алахәылас далхын. 1885 ш. – Протестк аҳасаб ала Ассамблеиа далҵуеит, избанзар иара игәаанагарала, уи аусзуҩцәа ринтерсқәа рымаҵ ауам. 1892 ш. – Адәыӷбақәа рымцеиқәҵаҩцәа Рыиашьара азанааҭеидгылақәа реизара ду аҟны Дебс азанааҭеидгыла аофициалтә орган – ажурнал аредакторс далырхуеит. 1893 ш., рашәарамза – Дебс Чикаго еиҿикаауеит аихамҩа аусзуҩцәа раԥхьатәи Америкатәи рхеилак. 1893 ш., нанҳәамза – Аихамҩа аусзуҩцәа Америкатәи ахеилак ақәгылара мҩаԥнагоит Аҩадатәи аихамҩа ду аҟны. Уи ақәгылара жәаа мшы ицон. Аихамҩа зтәыз аԥшәмацәа аусуцәа рыдҵақәа зегьы ирықәшаҳаҭхоит. 1894 ш., лаҵарамза – Дебс напхгара аиҭоит аихамҩа аусзуҩцәа рықәгылара ду, уи атәыла 23 еихамҩатә цәаҳәа аҵанакит (Пульмановская стачка). Усҟантәи Еиду Америкатәи Аштатқәа рхада Г. Кливленд идҵала афедералтә архәҭақәа ари ақәгылара рхәаҽит. 1894 ш., рашәарамза 23 – Дебси егьырҭ Америкатәи аихамҩа аусзуҩцәа рхеилак аԥхьагылацәеи ырбаандаҩын, анаҩс, 1895 шықәса, лаҵарамзазы, ахара рыдҵаны ақ. Вудстоктәи абахҭа иҭакын. 1895—1918 шш. 1895 ш. абҵарамза 22 – Дебси уи иҩызцәеи Пульмановтәи аихамҩаҟны ақәгыларақәа ицымҩаԥызгоз, ирықәырҵаз рыхганы рхы иақәиҭтәын. 1898 ш. – Дебс Америка Асоциал-демократиатә партиа аԥҵара активла далахәуп. 1900 ш. – Асоциалтә-демократиатә партиа Дебс Еиду Америкатәи Аштатқәа рпрезидентс икандидатура ықәнаргылоит. 1901 ш. – Дебс иҩызцәеи иареи Америка Асоциалисттә партиа аԥырҵеит. 1904 ш. – Дебс раԥхьаӡа акәны Еиду Америкатәи Аштатқәа рпрезидентс икандидатура ықәиргылоит Америка Асоциалисттә партиа аҟнытә. 1905 ш. – активла далахәуп Еиду Америкатәи Аштатқәа азанааҭеидгылатә еиҿкаара «Адунеи аиндустриалтә усзуҩцәа» (ИРМ) аиҿкаара. 1906 ш. – Ашахтиорцәа Мраҭашәаратәи рфедерациа аԥхьагылаҩцәа Моиереи Хеивуди, ирхарамкәа ауаҩшьра зықәҵаз, дрыдгыланы активла акьыԥхь аҟны анҵамҭақәа ҟаиҵон. 1907–1912 шш. рзы Дебс аус иуеит агазеҭ «Еппил ту ризон» аредактор ихаҭыԥуаҩыс, ақ. Джирарде, аштат Канзас. 1908, 1912 шш. – даҽа зныкгьы Еиду Америкатәи Аштатқәа рпрезидентс аҟаларазы икандидатура ықәдыргылоит Америка Асоциалисттә партиа аҟнытә. 1913 ш. – америкатәи архәҭақәа Мексикаҟа алагалара иазынархаз акомпаниа даҿагыланы дықәԥоит. 1914 ш. – Дебс дақәыӡбоит аштат Колорадо, ақ. Лудлоу аҟны ашахтиорцәа рықәгылара бџьаршьҭыхрала ахәаҽра; аусуцәагьы уи иаҿагыларц ааԥхьара рзыҟаиҵоит. 1914–1916 шш. – Иу. Дебс атәыла аҩныҵҟа атурне мҩаԥигеит. Иара убас Европа аибашьрақәа дырҿагыланы ақәгыларақәа мҩаԥигон, ажәларқәа рыбжьара аҭынчра ашьақәгылара дашьҭан. Еиду Америкатәи Аштатқәа Актәи адунеизегьтәи аибашьра аҽазыҟаҵара ианалага, уи аҽазыҟаҵара даҿагылон. 1917 ш. – активла аибашьра иаҿагылоз акомпаниа мҩаԥигон, Еиду Америкатәи Аштатқәа ари аибашьра ралахәхара даҿагылон. 1917 ш. абҵарамза – Дебс Урыстәыла аиааира згаз ареволиуциа рыдиныҳәалоит. Ари аиааира ала ибон аибашьра ахыркәшара, Еиду Америкатәи Аштатқәа рҟны асоциалисттә ҵысра аӷәӷәахара. 1918 ш., мшаԥымза 21 – агазеҭ «Ниуи-Иорк колл» аҟны Иу. Дебс астатиа «Душа русской революции» икьыԥхьуеит. 1918 ш., рашәарамза 16 – Иуџьин Дебс еицырдыруа иқәгылара мҩаԥысит асоциалистцәа реизара ду аҟны, ақ.Кантоне, аштат Огаио аҟны. Абарҭқәа рышьҭахь иаарласны Дебс дҭаркуеит, даҽа аамҭак анаҩс, иара иқәгыларақәа рзы, америкатәи акапиталисттә система ақәыӡбаразы, урыстәылатәи абольшевикцәа рықәгыларақәа рыдгыларазы, аштат Огаио, Кливлендтәи Афедералтә Ӡбарҭа, Иуџьин Дебс жәашықәса иқәҵаны дҭанакуеит. 1919—1926 шш. Иуџьин Дебс Аҩны шкәакәа аанижьуеит иаарласны, абахҭа аҟынтә даноурыжь ашьҭахь, 1921 шықәса рзы. 1919–1920 шш. – Аштат Џьорджиа, ақ.Атланта афедералтә бахҭа аҟны даныҟазгьы акорреспонденциақәеи астатиақәеи рыла дықәгылон, урҭ пальмертәи аполициатә реидқәа ирықәыӡбон. 1920 ш., лаҵарамза – Иуџьин Дебс абахҭаҟны иҭаауеит Америка Асоциалисттә партиа аофициалтә хаҭарнакцәа, иагьиҳәоит рпартиа аҟнытә Еиду Америкатәи Аштатқәа рпрезидентс икандидатура ақәыргылара дақәшаҳаҭхарц. 1920 ш., жьҭаарамза 2 – Дебс агазеҭ «Нью-дей» аҟны астатиа «Бомба на Уолл-стрите» икьыԥхьуеит, уи аҟны иара америкатәи акапиталисттә система, ауаҩи ауаҩи ахәура иахьҭеибацало, аибашьреи азини реиҟарамра системаны иахьыҟоу дақәыӡбоит. 1920 ш., ԥхынҷкәынмза – агазеҭ «Нью-дей» аҟны иикьыԥхьыз астатиа «До и после» аҟны Иу. Дебс ҩ-партиакны иҟоу абуржуазиатә система акласстә ҵакы атәы дазааҭгылоит: ареспубликатәи аполитикатәи партиақәа – ари акапиталисттә партиоуп, уи финансла еиқәнаршәоит, насгьы иахылаԥшуеит акапиталистцәа дара рхатәы ҭахрақәа рзы ҳәа. 1921 ш., ԥхынҷкәынмза 26 – америкатәи аҳәаанырцәтәи апрогрессивтә еилазаара апрезидент Гардинг иқәымчрақәа ирылҵшәахеит Дебс иҿҳәара аанӡа абахҭа аҟынтә иоушьҭра, аха уи америкатәи атәылауаҩра имхын. Дебси Гардинги реиқәшәара Аҩны шкәакәа аҟны имҩаԥысит. 1921 ш., ԥхынҷкәынмза 28 – Дебс иҩныҟа, иқалақь гәакьа Терре-Хотҟа дгьежьуеит, ара иара зықьҩыла ауаажәларреи аусуцәеи иԥылеит. Абахҭа ашьҭахь Дебс игәабзиара уашәшәырахеит. 1922 ш., хәажәкырамза – Дебси «Белл Синдикати» аиқәышаҳаҭра рыбжьарҵеит Атлантатәи абахҭа аҟнытәи аԥсҭазаара атәы еиҭазҳәоз жәаҩа статиа рыҩразы. Иара инапы зҵеиҩыз аиқәышаҳаҭра неигӡеит, аха «Белл Синдикат» аиқәышаҳаҭра аҵыхәтәанынӡа иазынамыгӡеит. Уи иакьыԥхьыз астатиақәа жәба роуп. Дебс иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь ауп егьырҭ астатиақәа анкьыԥхьхаз. 1922 ш., хәажәкыра 24 – акьыԥхь аҟны ицәырҵуеит Дебс истатиа америкатәи аусуцәа «аҵыхәтәантәи рдоллар» ахҭнырҵарц Асоветтә Урыстәыла адгылара аҭаразы, уа ҭыԥ змаз аарҩара иахҟьаны акыр араионқәа рҟны амлакра ҟалеит. 1922 ш., лаҵарамза 19 рзы – даҽа зныкгьы Америка иқәынхо рахь ааԥхьара ҟаиҵоит имлагоз Асоветтә Урыстәыла ауааԥсыра ацхыраара рырҭаразы. 1922 ш., жьҭаарамзазы – Дебс астатиа икьыԥхьуеит, уа иаҳәоит иара игәы шыбзиоу, насгьы аусуцәа рыкласс амҵ аура дшазыхиоу. 1923 ш. – Аусуцәа рзанааҭеидгылатәи рсоциалисттәи ҵысра алахәхара, атәыла аҟны аныҟәарақәа, алекциақәа рыла ақәгыларақәа, аусуцәа азанааҭеидгылақәа акны рыҟаҵара атәы зҳәоз иқәгыларақәа мҩаԥысуан. 1923 шықәса анҵәамҭеи 1924 шықәса алагамҭеи рзы Дебс, игәабзиара акыр ишыуашәшәырахазгьы, иара иуаажәларратә усура иациҵоит. 1924 ш., Ажьырныҳәамза 22 рзы, Дебс В. И. Ленин иԥсра ақәҿиҭуеит абас еиԥш иҟаз ажәақәа рыла: «Ленин ари даара зыхшыҩҵак ҳаракыз уаҩын… Уи изызҳауа абиԥара ргәалашәара аҟны даанхоит ҳәынҭқарратә усзуҩны, дфырхаҵан, аусуцәа рзинқәеи рхақәиҭреи ирзықәԥоз иакәны». 1926 ш., жьҭаарамза 20 рзы Дебс иԥсҭазаара далҵуеит, анышә дамардоит ақ. Терре-Хот. |
Дебс, Иуџьин Аинтерес зҵоу афактқәа | Виктор Иуџьин Дебс 1918 шықәса рзы Чикаго аибашьра иаҿагылоз ажәахә ала дықәгылоит. 1920 шықәса лаҵарамзазы Дебс абахҭаҟны даныҟаз иҭаауеит Америка Асоциалисттә партиа аофициалтә хаҭарнакцәа, иагьиҳәоит рпартиа аҟнытә Еиду Америкатәи Аштатқәа рпрезидентс икандидатура ақәыргылара дақәшаҳаҭхарц. Уи еиԥш ажәадгала иара дақәшаҳаҭхеит. Еицырдыруа ашәҟәыҩҩы Курт Воннегут Иуџьин Дебс дишьҭрақәлаҩны ихы иԥхьаӡон (Дебс иԥсҭазаара далҵит Воннегут ԥшьышықәса анихыҵуаз). |
Нарҭаа репос | Нарҭаа репос – ари Нхыҵ Кавказ ажәларқәа рҟны аишьцәа-аԥелуанцәа Нарҭаа ирыхҭысызи рҭоурыхи атәы зҳәо аҳәамҭақәа шьаҭас ирымоуп. Уи аԥсуа-адыга жәларқәа, ауаԥсаа, аваинахцәа, абалкарцәа, аҟарачқәа уҳәа ирымоу ҳәамҭақәоуп. Иара убасгьы ашәанцәагьы хаз игоу ациклқәа ахьрымоу ыҟоуп. Ажәа «аепос» ажәытә бырзен бызшәа аҟынтә иаауеит. Алитератураҿы ихадоу ажәабжьеиҭаҳәаратә жанрқәа хԥа ируакуп. Аепос автор дамам. Уи аԥҵара иалахәуп ажәлар зегьы. Убри аҟнытә афырхацәа ирызку алегендақәеи амифқәеи инарываргыланы, уи иагәылоуп ажәытәан ажәлар рыԥсҭазаашьа зеиԥшраз азы аматериал. |
Нарҭаа репос Нарҭаа репос ашьақәгылара | Амч дуи афырхаҵареи злаз, адауцәа ирабашьуаз, хьыӡрацара ицоз аишьцәа ирызку амифқәа змоу Кавказ ажәларқәа рацәоуп. Раԥхьаӡа иргыланы аԥсуа-адыга жәларқәа, ашәуаа, аубыхцәа, адыгаа, аҟабардақәа, ачерқьесцәа, иара убас ауаԥсаа. Аҵарауаа шьоукы ргәаанагарала, ашәуаа рнарҭтә епос еиҳа иҵаулоу ашьаҭақәа амоуп. Нарҭаа ирызку ажәабжьқәа уԥылоит иара убасгьы аҟарачқәеи абалкарцәеи рҟны. Уарлашәарла иҟоуп аваинах фольклор аҿгьы – ачечен жәлари аингуш жәлари рҟны. Арҭ ажәларқәа иаԥырҵаз ажәабжьқәа зегьы рсиужетқәа реиҳарак шеиԥшугьы, досу репос иара ахатә ҷыдарақәа амоуп. Уи зыхҟьаз ҳәа иазгәарҭо ажәабжьеиҭаҳәаҩцәа досу рыжәлар рзы рдунеиҳәаԥшышьеи разхаҵарақәеи ирыдҳәаланы иахьеиҭарҳәоз акәзаргьы ҟалоит. Нарҭаа репос бызшәалеи етникатә хылҵшьҭарлеи еигәыцхәым ажәларқәа иахьырзеиԥшу – иџьашьатәу фактуп. Уи амаӡа аарԥшра акыршықәса раахыс афольклористцәа дуқәа аартра иашьҭоуп, аха иахьа уажәраанӡагьы урҭ иаку гәаанагарак ахь изымааицт. Шьоукы ргәаанагарала, аепос аԥырҵеит Кавказтәи абызшәатә ҭаацәара иатәу ажәларқәа, ауаԥсаа уи ахьрымоу акәзар – даҽазныкгьы ишьақәнарӷәӷәоит урҭ Кавказ ишашьагәыҭу, џьарантә иқәнагалаз аскифцәеи асарматцәеи ишырхылҵшьҭрам. Даҽа шьоукы изларыԥхьаӡо ала, Аахыҵ-Кавказтәи аҭоурыхқәа еиқәдырхеит ажәытә ирантәи ашьагәыҭ, иара ажәа «нарҭ» ахаҭагьы ирантәи ахылҵшьҭра амоуп, индоевропатәи абызшәақәа рҟынтәи иаауеит, иагьаанагоит «афырхаҵа». Убри аан аҵарауаа аԥсуа-адыга жәларқәа репос ижәытәӡатәиу атрадициақәеи азхаҵарақәеи рышьҭамҭа шаныԥшуа, архаикатә цәаҩа шахоу азы еиқәшаҳаҭхоит, ауаԥс ҳәамҭақәа ракәзар, хықәкыла аус рыдулан, иҭәышәынтәалоу аҭоурых ашьақәыргылара хықәкыс иҟаҵаны. Нарҭаа репос ҿион, иагьышьақәгылон Кавказ ашьхақәа рҿы зқьышықәсала. Аҭҵааҩцәа реиҳараҩык изларыԥхьаӡо ала, иара ҿио иалагеит ҳера ҟалаанӡа VIII–VII ашәышықәсақәа рзы. Егьырҭ аҵарауаа ирҳәоит Нарҭаа ражәабжьқәа рхыҵхырҭа ыҟоуп ҳәа ҳера ҟалаанӡа III азқьышықәсаҿы. Аха, ишыҟазаалак, гәаанагарак ҿыӷәӷәала иуҳәар алшоит: Нарҭаа репос иит Кавказ адинхаҵарақәа ақьырсианреи амсылманреи рцәырҵранӡа акыр шыбжьаз. Уи аршаҳаҭуеит Нарҭаа аишьцәа дуқәа ирызку ажәабжьқәа ирныԥшуа аполитеизм. Нарҭаа ирызку аҭоурыхқәа циклны еидыркылон. Урҭ еидҳәалан ирзеиԥшу асиужет, ма ахронологиа ала. Аамҭа цацыԥхьаӡа Нарҭаа ирызкыз амифқәа зегьы реицҵарала ишьақәгылеит иаку аепос. Ари апроцесс хыркәшахеит ҳәа иԥхьаӡоуп абжьаратәи ашәышықәсазы – XII–XIII ашәышықәсақәа рзы. Ари аамҭазы Кавказ ицәырҵхьан ақьырсианреи аԥсылманреи, уи рныԥшуеит хронологиала иҵыхәтәантәиу Нарҭаа ражәабжьқәагьы. Ижәытәӡатәиу аҭоурыхқәа рҟны архаикатә дунеихәаԥшышьа ааԥшуазар, аҵыхәтәантәиқәа рҿы – иуԥылоит амонотеисттә динхаҵарақәа иртәу асимволқәеи атрибутқәеи. Уи адагьы, ажәабжьеиҭаҳәаҩцәа лассы-лассы рҭоурыхқәа ҳаамҭа иақәшәо иҟарҵон, ирзыӡырҩуа иаҳа аинтерес ддыркырц азы. Нарҭаа репос жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа ирбаҟаны иахьыҟоу анаҩсгьы, ианыԥшуеит иара аԥызҵаз ажәлар рсоциал-економикатәи ркультуратәи ҿиарақәа еиуеиԥшым апериодқәа: аматриархат аамҭақәа инадыркны афеодалтә-класстә еизыҟазаашьақәа рышьақәгыларанӡа. Убри азоуп Нарҭаа репос – жәлар рнапы иҵыҵыз автографуп ҳәа захырҳәаауа. |
Нарҭаа репос Нарҭаа репос еиуеиԥшым ажәларқәа рҳәамҭақәа рҟны | Нарҭаа репос ихадоу темас иамоуп апатриотизм, аԥсадгьыл ахьчараҿы агәымшәареи ахаҵареи раарԥшра. Уи аамҭазгьы, Нарҭаа ртәыла аҟны аибашьцәа реиҳа ҳаҭыр рықәуп анхацәагьы: ажьицәа, адгьылқәаарыхҩцәа, арахә рыхьчаҩцәа. Урҭ, афырхацәа реиԥшҵәҟьа рыӡбахә ашәақәа ирылоуп. Убасгьы, аепос аҟны – аҳәса пату рықәҵара, аиҳабацәа рыхӡыӡаара, ҿыц еиҵагыло абиԥара рааӡара уҳәа атемақәа аарԥшуп. Иҷыдоу аҭыԥ аепос аҟны иаанакылоит – аҽы. Нарҭаа рзы уи ҩыза бзиоуп, иара аҽы зтәу иеиԥшҵәҟьа амч алоуп. Нарҭаа рҳәамҭақәа рҟны, аҽы ауаҩы игәрагара иалагоит иара ихаҵареи иашарала ихы шныҟәигои анааирԥшлак ашьҭахь. Нарҭаа репос – изхылҿиааз ажәлар рҭоурых иацаԥхоуп, убасгьы иацаԥхоуп урҭ ркультура, дацла ажәытәрахь ицо. |
Нарҭаа репос а) аԥсуаа рҟны Нарҭаа репос | Нарҭаа репос ижәытәӡатәиу фольклортә баҟаны иахьыҟоу адагьы, аԥсуа жәлар зқьышықәсала ишьақәгылоз рыбзазашьа аҭҵаараҿы аҭоурыхдырцәа ирыхәо хәызмаӡам материалуп. Аԥсуаа рҟны Нарҭаа репос аҭҵаара иалагеижьҭеи рацәакгьы ҵуам, анаукатә ҭҵаарақәа хацыркын XIX ашәышықәсазы. 1940 шықәсазы раԥхьаӡакәны икьыԥхьын Нарҭаа ирызку аԥсуаа рҳәамҭақәа ԥшьба. 1988 шықәсазы иҭыжьын ашәҟәы «Нарҭ Сасрыҟәеи 99-ҩык иашьцәеи». Нарҭаа репос аҭҵаараҿы иналукааша аҭыԥ ааникылоит академик Шьоҭа Салаҟаиа – раԥхьаӡатәи ипрофессионалтәу аԥсуа фольклорист-нарҭҭҵааҩы, аепосҭҵааҩы. Иара убасгьы зыхьӡ нагоу афольклорҭҵааҩы, хықәкыла Нарҭдырра знапы алаку, Кавказ афольклорҭҵаараҿы злагала рацәоу академик Зураб Џьапуа. Аԥсуа Нарҭтә епос ҭызҵааз еицырдыруа ҵарауаҩуп, зегь раԥхьаӡа иргыланы, иранҭҵааҩы Василии Абаев. |
Нарҭаа репос Аԥсуаа рҿы Нарҭаа репос аԥҵоуп прозалеи ажәеинраала аформалеи. Аха, прозала иаԥҵоу ажәабжьқәа акыр еиҳауп. | Еицырдыруа аԥсуа ҵарауаҩ Шьалуа Инал-иԥа иҩуан: «…Аепос хазы игоу афрагментқәа аԥхьарца ианҵаны ашәаны ирҳәоит. Аха иашәаны ҳаамҭанӡа иааӡаз аепос ахәҭақәа – абжьи амузыкеи ахьузеидымхуа, даараӡа имаҷуп (иҟоуп иҷыдоу Нарҭаа рмелодиа), зны-зынлагьы акәашара ацуп (иаҳҳәап «Нарҭаа лан лашәа» аҟны ишыҟоу еиԥш). Аԥсуаа изларыԥхьаӡо ала, Нарҭаа – ҭаацәароуп, шәҩык аишьцәеи раҳәшьазаҵә Гәындеи, урҭ зегьы зхылҵыз ран Саҭанеи-Гәашьеи назлоу. Абри аҭаацәара ду жәларык ирсимволуп. Аԥсуа Нарҭтә епос афырхаҵа хада Нарҭ Сасрыҟәа иоуп. Сасрыҟәа иҭоурыхқәа аепос иагәыцәуп. Сасрыҟәа ихаҿсахьа идеалыртәуеит, уи иашьцәа еиқәирхоит аҵх еиқәара ианалахаз, ахьҭа иакны. Дхысны аеҵәа кыдиԥаан, иашьцәа алашара дирбеит, нас адауцәа амца рымҵиԥаан, иашьцәа ириҭеит. Афырхаҵарақәа ҟаиҵоит, ахымхәацәа дрыцхраауеит, аиашара шьақәирӷәӷәоит. Сасрыҟәа ихала агәылшьап шьны, иашьцәа адауԥҳәыс лымгәарҭа аҟынтә иҭыганы рыԥсқәа еиқәирхоит. Сасрыҟәа днашԥан ҳәа иашьцәа еиҳабацәа драҭәаршьаӡомызт, дрывадыргылаӡомызт. Уи адагьы имч-илшарала дахьреиӷьыз азы иҵашьыцуан, егьараан рыԥсқәа шеиқәирхахьазгьы. Аҵыхәтәан аишьцәа аџьныш ҭакәажә лҟны Сасрыҟәа иԥсырҭа ахьыҟаз еилкааны даԥырырхуеит. ахаҿсахьа хадақәа дыруаӡәкуп Саҭанеи-Гәашьагьы – имажәуа, ҟәыӷара згым Нарҭаа зегьы ран. Дҟәышуп, дгызмалуп, анхамҩаҿгьы илзымдыруа ҳәа акгьы ыҟаӡам. Нарҭаа еснагь лабжьагажәа иаҳәоит, ирабжьылгогьы еснагь хра аманы иҟоуп. Уи лажәа иқәныҟәоз лԥацәа, лыбзоурала акырынтә аԥсра иахыԥахьан. Шьалуа Инал-иԥа Саҭанеи-Гәашьа лхаҿсахьазы иҳәеит: «Саҭанеи — зегь рыла ихазыноу аԥҳәыс лхаҿсахьоуп, мрада дкаԥхоит, мзада дкаҷҷоит. Саҭанеи лоуп Нарҭаа рыжәла хацзыркыз, уи ахаҿгьы игылоу, ахәышҭаарамца еиқәырханы иаазго, аҩнаҭа ныҟәызго, иҟалаша здыруа, жәлар рырҵаҩысгьы иҟоу». Саҭанеи пату ду лықәырҵоит Нарҭаа зегьы, дара рыбжьара зегьы иреиҳаӡоу астатус змоугьы лара лоуп. Егьырҭ аҳәса рхаҿсахьақәа уи аҟара ирацәаны иуԥылом Нарҭаа рҳәамҭақәа рҟны. Аҭыԥҳацәа еиҳарак афырхацәа еимакырҭас ироуаз мзызхон. Нарҭаа рыдагьы аепос асиужетқәак рҟны ицәырҵуеит анҭыҵтәи афырхацәагьы. Аинтерес аҵоуп убас иааз афырхаҵа Нарџьхьоу изку аепизод, уидымҵаирсуеит Нарҭаа раҳәшьазаҵә Гәында-ԥшӡа. Абар аепос аҟны ишаарԥшу аишьцәа ашәҩык раҳәшьазаҵә лхаҿсахьа: «Лара Гәында илыхьӡын, ԥшралеи сахьалеи дыблахкыган азы Гәында-ԥшӡа ҳәа илышьҭан. Нарҭаа раҳәшьа рнапы дықәыргыланы дырбон, уамакала илыхӡыӡаауан. Ахан хьыҵәцараҿы дынхон Гәында-ԥшӡа. Лшьапы ахаан адгьыл иқәымкьысцызт. Лашьцәа шәарах баҩлашала ддырчон. Аҭыԥҳа лцәеижь ашәаӡа еиԥш ипашәын, иԥшқан. Лоуразоуроу длаша - лашон. Уаҩытәыҩсатә бызшәала еиҭаҳәашьа узаҭомызт Гәында лыԥшӡара». Нарџьхьоу Нарҭаа дреиуам, аха иӷәӷәаралеи игәымшәаралеи урҭ дрыҵахом. Аиха хаԥыцқәа имоуп, зынџьырла дҭаԥахны дҿоуҳәаргьы, еиҩҵәҵәаны инықәиҵоит, иԥаҵақәа аџыр иалхуп. Хәажәарԥыс изҳәаны итәаз Гәында-ԥшӡа дымҵаирсуеит Нарџьхьоу. Зыԥҳа лынасыԥ иаӷрагылаз Нарџьхьоу дахьлырхәырц Саҭанеи - Гәашьа уи дхаҳәылтәуеит, Хәжәарԥыс иакәзар – дхәажәхоит. Нарҭаа рпантеон аҟны иҟоуп анцәахәқәа, иаҳҳәап – адади амацәыси ранцәахәы Афы, абнақәеи ашәарахи рынцәахәы – Аергь –Ажәеиԥшьаа, убас егьырҭгьы. Ус шакәугьы, аполитеисттә еилкаара инақәыршәаны, дара нцәақәоуп ҳәа узҳәаӡом. Нарҭаа аҭыԥ ԥшьақәа ҳәа акгьы рымаӡам, анцәахәқәа рыхьӡала ашьтәашьрагьы ҟарҵаӡом. Уи аамҭазы, дара агәра ргоит еилкаашьа змам, амч – адоуҳа шыҟоу, рангьы Саҭанеи-Гәашьа уи шлымоу. |
Нарҭаа репос б) адыгаа репос | Адыгаа ражәабжьқәа реизгаҩыс иҟаз рахьтә иалкааны иӡбахә уҳәар ауеит Кази Атажукин, уи акыр шықәса инеиԥынкыланы хаз - хазы иҟаз аҭоурыхқәа рциклқәа реизакра илшеит. Адыгаа репос аизгараҟны уадаҩрас иҟаз аетникатә гәыԥқәа еиҭарҳәоз ажәабжьқәа дара-дара аиқәымшәарақәа ахьрымаз ауп. Адыгаа рнарҭ епос аҭҵааҩцәа излашьақәдырӷәӷәо ала, абазақәеи адыгааи рҭоурых аромантикатәи амифтәи шьаҭа аҭаны иаарԥшуп. Адыгаа рнарҭдырра аҟны ихадоу хаҿуп - афырхаҵа Биданыҟәа ихаҿсахьа. Иара даара иҟәыӷоу, аҽынкылара злоу, аиҳабацәа пату рықәызҵо, зхала афырхаҵарақәа ҟазҵо иоуп. Диит иара Нарҭ Бадына иҩнаҭаҟны, аха Нарҭаа дрылармааӡеит, избанзар, дара иара даныхәыҷыз ишьра иашьҭан. Ус шакәызгьы, Биданыҟәа иоуп Нарҭаа еснагь аӷас ирымаз – чинтааи иныжи ириааиз. Иашьцәа Нарҭаа – анцәақәа ирабашьуаз реиԥш акәымкәа, иара анцәа ицәшәара рыхшыҩ азышьҭра дашьҭан. Биданыҟәа ибзоурала даара иџьбараз Нарҭаа рзакәан, иажәыз, зхы иамыхәоз Нарҭаа ацаҟьа аҟынтәи рыршәра иазкыз аԥыхын, уи алагьы иара иаб Бадын иԥсы еиқәырхан. Биданыҟәа адыгаа рнарҭдырраҿы архаикатә фырхаҵоуп. |
Нарҭаа репос в) аваинахцәа репос | Ачеченцәеи аигәышцәеи рҳәамҭақәа рыҭҵааҩцәа даарылукаауеит еицырдыруа аҵарауаҩ Ахмед Малсагов. Аваинахцәа репос Нарҭаа репос ауп ҳәа узазҳәом иааизакны. Жәаҳәарада, аваинах жәлар рҳәамҭақәа рҟны Нарҭаа уԥылоит, аха ара дара афырхацәа иашақәа ираӷацәоуп, иқәылаҩцәоуп, анцәа иҿагыло уаауп. Аингәышцәеи ачеченцәеи репосқәа аиԥшымзаара рымоуп. Ачеченцәа рмифологиаҿы Нарҭаа – ортсхоицаа еснагь иҵоурам хаҿсахьақәоуп, аингәышцәа рнарҭдырра аҟны иԥелуанцәоуп, урҭ аваинахцәа ирхылаԥшуеит, аӷацәеи аԥсымыцқьақәеи рҟынтә ирыхьчоит. |
Нарҭаа репос г) аҟарачқәеи абалкарцәеи репос | Аҟарачқәеи абалкарцәеи рҟны ажәабжьҳәаҩцәа халкжер - чи ҳәа ирышьҭан. Урҭ Нарҭаа ирызкыз ажәабжьқәа ишырҳәо еиԥш, ҿык аҟынтә ҿык иҭалон. Аҟарачқәеи – абалкарқәеи иртәу Нарҭаа репосгьы иахьа уажәраанӡа аагара зыбзоуроу ажәлар роуп, урҭ ргәынкылара иабзоуроуп шәкыла аҭоурыхқәа. Аҟарачқәа рнарҭ епос аҟны атиуркцәа рышьҭа даара ианыԥшуеит. Аҟарачқәеи абалкарцәеи рнарҭ епос аҟны зегь зымчу нцәахәуп – Теири, уи ажәҩангьы, амрагьы дрынцәахәуп атиурк хылҵшьҭра змоу ажәларқәа рҟны. Теири иԥа иоуп ажьира анцәахәы Дебет, мамзаргьы Нарҭаа раб ҳәа изышьҭаз. Дебет иоуп 19-ҩык аԥацәа змаз, урҭ Аликоваа рабшьҭраҿы раԥхьатәи Нарҭаа ракәхеит. Дебет иԥеиҳаб Алауган иоуп Нарҭаа рыжәла ахацыркҩыҵәҟьа. Уи быжьҩык иашьцәа, Нарҭаа рхылҵшьҭрақәа Схуртуковаа ирылҵыз Иориузмек иҭаирхеит, иаҳа еиҵыбӡа, Содзук иакәзар, дыхьчахеит. Изусҭцәада Нарҭаа? Нарҭаа – зоуреи зыҭбаареи дуу, амч ду злоу фырхацәоуп. Зныктәи аҳәаҟьарала хра дук еиҩырсоит, знык ианыԥалак атыша ду иахыԥоит, ахыци ахәымпали рыла икылкааны ихысуеит, аҳәа акраҿы ирацлабуа дыҟам. Ганкахьала – ргәы ҭбаауп, игәымшәақәоуп, ифырхацәоуп. Даҽа ганкахьала – ауаҩытәыҩсатә цәаҩақәа рыцәтәымым: ашьыцра, ахыбаара, агәыԥжәара. Иара уи аамҭазы, рыиашьара ӷәӷәала еидҳәаланы иакуп. Аишьцәа раамҭа аиҳарак хьыӡрацарала имҩаԥыргоит: адауцәа-ауаажьыфацәеи, аҭакәажә омагеи, атәымқәылаҩцәеи, амаҭ дуқәеи ирабашьуан. Иқәыланы амал еидыркылоит, уаҩ дыззымиааиуа абаашқәа ргоит, анхарҭа-хыҵакырҭа змам ауаа рыхьчоит… Аибашьраҿы хьӡи-ԥшеи раагарала иҭәуп рыԥсҭазаара зегьы. Убас иҟоу хьыӡрацарақәа рыла ишьақәгылоуп Нарҭаа репос ихадоу асиужетқәа. Ажәа «нарҭ» хыҵхырҭас иамоу азы агәаанагарақәа рацәоуп. Аҵарауаа шьоукы ари ажәа ахурритцәа рҭыԥхьыӡ Нахриа иадҳәалоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит. Егьырҭ изларыԥхьаӡо ала, ари ажәа аԥсуа хылҵшьҭра амоуп. Даҽа шьоукы ишьақәдырӷәӷәоит ажәа «нарҭ» амонголтә шьагәыҭ амоуп ҳәа – амонгол ажәа «нара» иаанагоит «амра», уи аҵыхәтәан иацлеит ауаԥс суффикс «т» – ахьыӡҟақәа рҿы арацәа хыԥхьаӡара арбага (ари аморфема ахархәарала иахьагьы ауаԥс бызшәаҿгьы ажәлақәа шьақәгылоит). Аха аҵарауаа реиҳараҩык ргәаанагарала, зегь реиҳа аҵабырг иазааигәоуп атермин аиран хылҵшьҭра амазаара. Аинтерес зҵоу акоуп, Нарҭаа рҳәамҭақәа рҟны адунеии ауаҩи шыҟалаз ҳәа рыӡбахә ахьҳәам, егьырҭ ажәларқәа репосқәа ракәзар, рдунеихәаԥшышьа инақәыршәаны адунеи аҟны аԥсҭазаара шышьақәгылаз атәы ҳәоуп. Нарҭаа ракәзар, адунеи аҟазаара рыдыркылоит аханатә иаԥу акеиԥш, убриоуп рдунеихәаԥшышьа шьаҭас иамоугьы. |
Нарҭаа репос Алитература | АԤСУАА РФОЛЬКЛОР ҬЫРҚӘТӘЫЛАТӘИ АНҴАМҬАҚӘА. З. ЏЬ. ЏЬАПУА ИРЕДАКЦИАЛА. I аҭыжьымҭа. Н А Р Ҭ А А. Аҟәа, НААР-2014 |
Апрезиденттә ҳәынҭқарра | Апрезиденттә ҳәынҭқарра (, ажәа президент иаанаго аԥхьа итәоу ауп) — ари ареспубликатә напхгараҭара аформақәа иреиуоуп. Уи убас еиԥш республикоуп, уа инхо ажәлар иалырхуа атәыла иреиҳаӡоу азакәанԥҵаратә орган мацара акәӡам, урҭ далырхуеит аҳәынҭқарра ахадагьы, уи аамҭаказы анагӡаратә мчрагьы хадас дамоуп. Аиҳабыра ракәзар, апрезидент иҿаԥхьа аҭакԥхықәра рымоуп, урҭ аҭыԥқәа рызҭо, амаҵзура иахазыргыло, иамхтәу, иаҭатәу зыӡбо апрезидент иоуп. Атәыла ахада азин имоуп апарламент иаднакыло азакәанқәа авето рықәҵара. Иара убасгьы, атәыла ахада арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ иоуп. Апрезидент дызхагылоу атәыла жәларбжьаратәи арена аҟны ахаҭарнакс, ӡыргаҩыс дыҟоуп. |
Апрезиденттә ҳәынҭқарра Апрезиденттә ҳәынҭқарра аилыркаара | Адемократиатә дунеи аҟны анапхгараҭара аформақәа еиуеиԥшым. ԥҟараны ишаԥҵоу еиԥш, аҳәынҭқарра напхгара азҭо иоуп аӡбамҭақәа рыдкыларагьы азин змоу. «Апрезиденттә ҳәынҭқарра» ахьӡ акәзар, уи зегьы аҳәоит. Уи азын Аконституциа аԥхьарагьы аҭахым. Ари аҳәынҭқарра хадара азиуеит апрезидент. Иара иоуп амаҵзуратә хаҿыс иҟоу, азинқәа зегьы змоу. Иара иоуп издызкыло зегь реиҳа ҵакы змоу аӡбамҭақәа. Жәаҳәарада, арҭқәа зегьы азакәанԥҵаратә актқәа ирнуп. Ус шакәугьы, иарбан ҳәынҭқарразаалакгьы аиҿартәышьа Аконституциа ауп ишьақәзыргыло. Ари азакәан аҟны иарбоуп аҳәынҭқарра аусушьа амеханизмқәа зегьы. Иара убасгьы, уа иазгәаҭоуп аӡбамҭақәа рыдкылашьа аиҿкаара, амаҵзуратә хаҿқәа, урҭ рнапаҵаҟа иҟоу уҳәа. Президенттә ҳәынҭқарраны иԥхьаӡоуп аҳәынҭқарра, уи ахадас иҟоу азинқәа зегьы имоуп. Ахада иоуп анагӡаратә мчра аусурагьы ҳәаақәызҵо. Иҟалалоит ус еиԥш аҭагылазаашьақәа, аамҭақәак рзы иара аминистрцәа реилазаарагьы напхгара анаиҭо. |
Апрезиденттә ҳәынҭқарра Апрезиденттә ҳәынҭқарра аҷыдарақәа | Ас еиԥш аҳәынҭқарра аиҿкаашьа аформа аҷыдарақәа иреиуоуп уи аӡәы дахьахагылоу. Ара амчра зегьы апрезидент иҟны еизакуп. Иара анагӡаратә мчра напхгара аиҭоит, аминистрцәа аиҭоит, урҭ рҟынтәи аҳасабрбақәа идикылоит. Абра идыртәу, апрезиденттә ҳәынҭқарра – ари теориатә еилкаароуп. Апрактика аҟны аусура амеханизмқәа зегьы аҭыԥантәи акониунктуреи атрадициақәеи ирхьырԥшны ишьақәдыргылоит. Иаагап ҿырԥштәыс аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа. Мексика акәзар, Ахада иалхрақәа ишиашоу жәлары зегьы рыбжьаҭарала имҩаԥысуеит. Еиду Америкатәи Аштатқәа (США) рҟны ишиашоу акәымкәа, ажәлар ргәаҳәара нарыгӡоит. Уи иаанаго, ауаа дара ргәазыҳәара азгәаҭара «алхыҩцәа» ҳәа ззырҳәо ҷыдалатәи ауаа инарыгӡоит. Урҭ роуп апрезидентс иҟалогьы далызхуа. Даҽазныкгьы иазгәаҳҭап апрезиденттә ҳәынҭқарра аҟны алхрақәа рымҩаԥгашьа амеханизмқәа шеиуеиԥшым. Апрезиденттә ҳәынҭқарра аҷыдара хадақәа алаҳкаауазар, ара имҳәакәаны узаҩсуам апарламентнҭыҵтәи аҳәынҭқарра аԥҵашьа аформагьы. Фактны иазгәаҭатәуп атәыла Ахада шиакәу аминистрцәа азҭо. Дара иара иҿаԥхьа аҭакԥхықәра ду рыдуп. Иара убасгьы, апрезиденттә ҳәынҭқарра иаҷыда ҟазшьақәаны иҟоуп амчрақәа реихшара. Уи иаанагоит аҳәынҭқарра Ахада азин шимам апарламент аҿҳәара нҵәаанӡа аимырпра, аха апарламент иара аганахь ала аминистрцәа реилазаара ахь нырра амам. |
Апрезиденттә ҳәынҭқарра Апрезиденттә ҳәынҭқарра аҷыдара хада | Аҳәынҭқарра азакәанқәа урыламлакәан ус насҭха уахәаԥшуазар, уи анапхгараҭара аформа аилкаара даара иуадаҩхоит. Апрезиденттә ҳәынҭқарра иамоу аҷыдара, убоит амассатә информациатә хархәагақәа иҟарҵо адырраҭарақәа рҟынгьы. Уи аҷыдара апрезидент далнакаауеит егьырҭ атәылақәа реиҳабыра рҟынтәи. Аус злоу уи ауп, апрезидент ас еиԥш иҟоу аҳәынҭқарра аҟны алшара дуқәа ахьимоу ауп. Зегьыҵәҟьа ракәымзаргьы, лшарақәак рзынхоит апарламенти аиҳабыра реилазаареи. Аха урҭ еиҳарак аилацәажәаратә функциақәа роуп инарыгӡо. Иҟаҵатәу шыҟаҵатәу шьақәзырӷәӷәо апрезидент иоуп. Иара тәылақәак рҟны аҳәынҭқарра реиҳабыра напхгара риҭоит. Ас еиԥш аҭагылазаашьа ыҟоуп Беларусиа, Узбекисҭан, Ҟазахсҭан. Ареспубликақәа рҟны ахада инапхгарала аколлегиалтә органқәа аус руеит. Уа аӡбамҭақәа ирылацәажәоит, аус рыдырулоит. Аха арҭ аӡбамҭақәа рыдкыларазы атәыла Ахада иажәа ауп ихадоу. Иара адокументқәа инапы рыҵаиҩуеит, иарбан органзаалакгьы зынагӡара хадараны иҟоу. Иара иоуп издызкыло амчратә еилазаарақәа рнапхгаҩцәа рҟынтә аҳасабрбақәа. Атәылақәа Уругваи, мамзаргьы Коста-Рика реиԥш иҟоу рҟны, аминистрцәа русуразы аҳасабырбақәа апарламент алахәылацәа роуп изызнарго. Дара роуп урҭ рамхразгьы азинмчы змоу. Аха, ас еиԥш ахҭысқәа ари аҩыза анапхгараҭара аформазы иҟазшьарбагам. |
Апрезиденттә ҳәынҭқарра Адемократиа апринципқәа рықәныҟәара | Ус еиԥш иунарбар ауеит, апрезиденттә республика ахьышьақәгылоу аҳәынҭқаррақәа тоталитартәуп ҳәа. Избанзар, уа амчрақәа рацәаны аӡәы инапаҟны иҟоуп азы. Ахаҭарнакратә орган аганахь ала ахылаԥшра, уи аусура акы иаҿырԥшуп. Аха ас еиԥш иҟоу аҳәынҭқаррақәа рконституциа аҟны иагәылоуп даҽа механизмк, адемократиатә принципқәа азгәазҭо. Аус злоу алхрақәа роуп. Ишаԥу еиԥш, аҳәынҭқарра ахада иалхразы рыбжьы арҭоит атәылауаа зегьы. Даҽакала иуҳәозар, ауаа ирымоуп алшара, рыԥсҭазаара шықәсқәак ирылагӡаны изхьыԥшхо иалхра апроцесс анырра аҭаразы. Ҿырԥштәыс иаагозар, атәылақәа Мексикеи Мысреи (Египет) ртәылауаа алхырҭатә ҭыԥ аҟны рыбжьы ирҭоит зыгәра рго акандидат. Акандидатцәа ркадидатурақәа ықәзыргыло апартиақәа роуп, даҽакала иуҳәозар, хшыҩҵакык еиднакыло атәылауаа реилазаара. Зынӡа даҽа механизмк азгәаҭоуп Еиду Америкатәи Аштатқәа Рконституциа аҟны. Ари атәылаҟны атәылауаа апрезидентрахь акандидат изы акәӡам рыбжьы зарҭо, ара рыбжьы зырҭо ауаҩы дара рыхьӡала аплебисцит далахәхоит. Ас еиԥш алхратә принципқәа инахыкәшаны имҩаԥырго ҳәа иашьҭоуп. Изеиԥшроузеи анапхгараҭатә форма Урыстәыла? Ахыҵхырҭақәа рҟны ари атемазы аимак — аиҿакқәа цоит. Аӡәырҩы убас еиԥш агәаанагара рҳәоит – Урыстәыла — ари президенттә ҳәынҭқарроуп ҳәа. Даҽа џьоукы ишьақәдырӷәӷәоит атәылаҟны еилаԥсоу анапхгараҭаратә форма аҭыԥ амоуп ҳәа. Аха ара Аконституциа иазхьаԥштәуп. Азакәан хада, аҳәынҭқарра Ахада изинмчи истатуси, Афедералтә еизареи Урыстәылатәи Афедерациа аиҳабыреи ирызкыз аҟәшақәа анализ азызуз аҭҵааҩцәа лкаак иазааиуеит. Ари алкаа иаҳәо акоуп, Урыстәыла ари президенттә республикоуп. Уи Ахада даара иҭбаау азинмчы имоуп. Ас еиԥш алкаа ҟазҵо аҭҵааҩцәа раппонентцәа ишазгәарҭо ала, арҭ азинмчқәа Урыстәылатәи Афедерациа Ахеилак ҷыдалатәи аӡбамҭақәа рыла ишьақәнарӷәӷәар ауп. Дара ззаиуа апрезидентбжатә ҳәынҭқарра ауп. Убри аан иҳәатәуп арҭ аспециалистцәа ас еиԥш атәылаҟны апарламент даара иԥсыҽуп ҳәа шырыԥхьаӡо. |
Апрезиденттә ҳәынҭқарра Апрезиденттә ҳәынҭқарра аҟны анапхгара | Ҳарзааҭгылап анагӡаратә мчрақәа русура апринципқәа. Уи, ишаԥу еиԥш, ауаажәларра рыԥсҭазаара ианыԥшуеит. Адемократиа апринцип убас еиԥш амчратә еилазаара азԥхьагәанаҭоит, уи амахәҭақәа дара-дара хылаԥшра анырзыҟарҵо. Ари аганахь ала апрезидентә ҳәынҭқарра идеалтәым. Аус злоу, анагӡаратә мчра еснагь аҳәынҭқарра Ахада хылаԥшра ахьеиҭо ауп. Иара имоуп азин министрс рыҟаҵара изыманшәалоу ауаа. Урҭ рамхрагьы илшоит ауаажәларра ргәаанагара иахьмырԥшыкәан. Абра иҳәатәуп, тәылақәак рҟны апрезидентә напхгараҭара аформа аҟны зыӡбахә ҳамоу ашьақәгылашьа аиҭакрақәа шалагалоу. Уа апарламент азин амоуп анагӡаратә мчра анырра аҭаразы. Ҿырԥштәыс иагозар – аиҳабыра рлахәылацәа русура хылаԥшра аҭара. Урҭ раҭаразы апарламент иазҵаатәызар, уи ус иагьыҟаҵатәуп азы, ара иузҳәом злеишәа ӷәӷәоу апрезиденттә ҳәынҭқарра аӡбахә. |
Апрезиденттә ҳәынҭқарра Апрезиденттә ҳәынҭқарра шьахә | Тәылақәак рҟны убас еиԥш анапхгараҭаратә форма аҭыԥ амоуп, аҳәынҭқарра Ахада амчратә зин амазаара ала зегьы данақәиҭу. Усҟан ауп апрезиденттә ҳәынҭқарра шьахә ҳәагьы аназырҳәо. Ара амчра аҽеиҩнашом. Аӡәы заҵәык иоуп амчра ахәҭақәа зегьы напхгара рызҭо, урҭ ыҟазар. Адемократиатә уаажәларра аҟны аус зуа асистема уи иаҟазшьаҷыдам. Апрезидент ишакәызаалак ныррак узиҭом. Ас еиԥш анапхгараҭара аформа мрагыларатәи атәылақәа роуп изҷыдаҟазшьоу. Ҿырԥштәыс лассы-лассы иааргоит Туркментәыла, мамзаргьы Латинтәи Америка атәылақәа. Апрезиденттә республика аилкаара зынӡак иуадаҩӡам. Ас еиԥш аилазаара аҟны аҳәынҭқарра Ахада акыр азинқәа рзы аҭакԥхықәрақәа идуп. Аха, усҟан адемократиа апринципқәа ирықәныҟәома, ирықәымныҟәома аилыргара аҭахуп, ишьақәгылоу иалкаау ҭагылазаашьак иахьырԥшны. Аҳәынҭқарра аргылара – ари даара иацклаԥшны изызнеитәу усуп. Атрадициақәа рызхьаԥшра ари аус аҟны аҵак ду амоуп. |
Апрезиденттә ҳәынҭқарра Апрезиденттә ҳәынҭқарра ихадароу, даҽакы излаламҩашьо аҟазшьаҷыдарақәа | Апрезиденттә ҳәынҭқара ихадоу, даҽакы излаламҩашьо ҟазшьаҷыданы иамоуп (апарламенттә республика иаҿырԥшны уахәаԥшуазар) анагӡаратә мчра, уи ашьақәгылара, аҭагылазаашьа, аусура, аҭакԥхықәра азакәанԥҵаратә мчра иаҟәыганы иахьыҟоу. Арҭ аҳәынҭқарратә мчрақәа реизыҟазаашьақәа рсистема акәзар, шьаҭас иамоу наҟ-ааҟтәи аибакапанреи анагӡареи роуп. Абарҭқәа рҟынтәи ицәырҵуеит егьырҭ апрезиденттә ҳәынҭқарра акрызҵазкуа аҷыдаҟазшьақәагьы: апрезидентгьы, апарламентгьы алызхуа ажәлар роуп; апрезидент азин имам иара ианиҭахха аамҭазы апарламент иара аҿҳәара нҵәаанӡа аимырпра (аконституциатә ԥҟарақәа ирықәымшәозар), апарламентгьы аҳәынҭқарра ахада имаҵзура дырзамхуам (аимпичмент рыларымҳәар), насгьы аиҳабыра рахь агәрамгара аарԥшны ԥхьатәара ирзышьҭуам; атәыла анапхгараҭараҟны ироль дууп аҳәынҭқарра Ахада, уи лассы-лассы аҳәынҭқарреи анагӡаратә мчреи хадас дрымоуп; апрезидент ихаҭа иоуп аиҳабыра азҭо, насгьы ԥхьатәара изышьҭуа; аминистрцәа аиҭоит, иамихуеит; апрезиденти иара иеиҳабыреи апарламент аҿаԥхьа рполитикеи русуреи рзы ҭакԥхықәра рыдым (аиҳабыра ас еиԥш аҭакԥхықәра ахьрыду аҳәынҭқарра Ахада иҿаԥхьа ауп), апарламент акәзар, аминистрцәа азамхуам, дара азакәан еиларымгазар; апрезидент азин имоуп апарламент иаднакыло азакәанқәа аамҭала рыдкыларазы ахырԥара, аха апарламент иалшоит, иара аилазаараҿы иҟоу рыбжьқәа реиҳарала ас еиԥш аӡбамҭа аԥыхра; Иҟоуп ҭагылазаашьақәак, аҳәынҭқарра Ахада иреиҳау анагӡаратә мчра амаҵзурауааи аӡбаҩцәеи раҭара аан апарламент, мамзаргьы апалата алахәылацәа рақәшаҳаҭра аниҭаху; аҳәынҭқарра Ахада инапы зҵеиҩуа жәларбжьаратәи адокументқәа аратификациа азнаур ауп апарламент; аӡбаратә мчра хылаԥшра анаҭоит аконституциеи азакәантә актқәеи рынагӡара, насгьы ишьақәгылоу азинмчы ақәныҟәара. Апрезиденттә ҳәынҭқаррақәа еицырзеиԥшу ҳәаақәак ирҭаку аиԥшзаара шрымоугьы, иахьеиԥшымгьы ыҟоуп. Ҿырԥштәыс иаагозар (Еиду Америкатәи Аштатқәа, Бразилиа), апрезидент ихаҭа аминистрцәа реилазаарагьы дахагылоуп, егьырҭ атәылақәа рҟны – аҳәынҭқарра Ахада инаиваргыланы иҟоуп — аиҳабыра, Аминистрцәа рхеилак, урҭ напхгара риҭоит аԥыза — министр (Урыстәыла, Мысра уб. егь.). Еиду Америкатәи Аштатқәа, Нигериа уҳәа тәылақәак рҟны апрезидент аминистрцәа анеиҭо асенат ақәшаҳаҭра аҭахны иҟоуп, Бразилиа акәзар, ус еиԥш аҭахны иҟам. Акыр апрезиденттә ҳәынҭқаррақәа рҟны, азин ыҟоуп даҽа напхгараҭаратә формақәакгьы, иаҳҳәозар, аиҳабыреи аминистрцәеи апарламент ианахьыԥшу. Ас еиԥш иҟоу республикақәак рҟны дыҟоуп, иара убасгьы, аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩы (Еиду Америкатәи Аштатқәа, Мысра...). Иара убасгьы, иумбарц залшом ҳәаак иҭакыу президенттә формак змоу аҳәынҭқаррақәа рҟынгьы Ахада имчра иаҵанакуа аиԥшымзаара ӷәӷәақәа анамоу. Усҟан аҳәынҭқарра Ахада инапаҵаҟа иҟалоит иҷыдоу азин амазаара, даҽакала иуҳәозар, амчра зегьы уи амчра ду змоу апрезидент ҳәынҭқарра ҳәа азырҳәоит. Лассы-лассы ас еиԥш аҭыԥ рымоуп хаз игоу, аҿиараҿы акыр еиҵаханы иҟоу латинтәи америкатәи, африкатәи, азиатәи атәылақәа рҟны, насгьы еиҳарак апрезидент имчра арратә хҳәарақәа ирыбзоураны иахьышьақәырӷәӷәаз, убасгьы аҳәынҭқарратә мчра адемократиатә традициақәа ирықәшәо иахьеиҿкаамыз атәылақәа рҟни, иахьа ҿыц адемократиа амҩа иқәлази (Урыстәыла, Узбекистан уб.егь.). |
Апрезиденттә ҳәынҭқарра Иҩбахаз, ажәлар зегьы еицалырхуа атәыла Ахада атәыла акзаара дахаҭароуп, амилаҭ ракзаара дасимволны дықәгылоит… | Ахԥатәи, ари аформа иалнаршоит, атәыла аҿиара аан акризистәи аиасратәи етапқәа раан даара ихадоу, иреиҳаӡоу анапхгараҭаратә мчра анапык аҟны аагара, иаарласны, акрызҵазкуа амилаҭбжьаратә проблемақәеи рыӡбара, амчрақәа реизакра. Иԥшьбатәихаз, апрезиденттә напхгараҭаратә форма даара иарԥсыҽуеит лассы-лассы зҽызыԥсахуа апартиатәи афракциатәи еизыҟазаашьақәа, апарламент аусураҟны иуԥыло ацәырҵрақәа. Убриаан иазгәоумҭарц залшом, апрезиденттә республика аҳәаақәа ирҭагӡаны ишазҳауа азакәанԥҵаратәи анагӡаратәи мчрақәа реиҿагылара, еиҳаракгьы ас еиԥш аҭыԥ аиуеит апрактика аҟны иалху Ахада партиак ахаҭарнакс даныҟоу, апарламент адепутатцәа реиҳараҩык даҽа партиак, мамзаргьы блокк ианахаҭарнакцәоу. Аҵыхәтәаны иаагоу аҭагылазаашьа изныкымкәа аҭыԥ аман Еиду Америкатәи Аштатқәеи Урыстәылеи рҟны. |
Фанон, Франц | Франц Фанон (, Фор-де-Франс, Мартиника — , ЕАА) – францыз бызшәала ицәажәоз вест-индиатәи револиуционеруп, социалтә философуп, психоаналитикуп. Ахԥатәи адунеи атәылақәа аколониа рхыхразы ареволиуциатә қәԥара аиҿкаара ҿыцқәа ридеиатә гәышьҭыхцәеи атеоретикцәеи дыруаӡәкуп. |
Фанон, Франц Анысмҩа | Франц Фанон – францыз бызшәала ицәажәоз вест-индиатәи револиуционеруп, социалтә философуп, психоаналитикуп. Ахԥатәи адунеи атәылақәа аколониа рхыхразы ареволиуциатә қәԥара аиҿкаара ҿыцқәа ридеиатә гәышьҭыхцәеи атеоретикцәеи дыруаӡәкуп. Франц Фанон диит Франциа иаҵанакуаз адгьылбжьаха Мартиника Карибтәи амшын аҟны. Иара дырхылҵшьҭроуп милаҭла еилаԥсоу аҭаацәара: иаб – африкатәи атәцәа дырхылҵшьҭроуп, иан – ганкахьала Страсбургтәуп, Ельзас иаҵанакуа. Мартиника адгьылбжьахаҿы зегьы иреиӷьыз аҵаратә усҳәарҭаҿы аҵара иҵон, Lycée Schoelcher, уаҟа рҵаҩыс диман еицырдыруаз апоет Еме Сезер. |
Фанон, Франц Аҩбатәи адунеитә еибашьра | Аколониалтә ҿагыларазы Фанон игәаанагара шьақәырӷәӷәахеит Аҩбатәи адунеитә еибашьра ашықәсқәа раан. Анемеццәа Франциа ианақәла, 1940 шықәсазы Мартиника анхарҭақәа рҿы иҩназ авишисттә архәҭақәа амшынтә блокада иҭакхеит; ари аҩыза аҭагылазаашьаҟны лассы-лассы афранцыз солдаҭцәа рганахьала арасистә принципқәа рхы иархәаны ақәымчрақәа ҟарҵо иалагеит. Жәаа шықәса зхыҵуаз Фанон, аколониалтә расизм иреицәаз аформақәа зыблала избаз, адгьылбжьаха аҟынтәи дыбналеит британиатәи Доминикаҟа, уаҟа дрылалеит зхы иақәиҭу Франциа архәҭақәа. Убра иоуз аԥышәала анаҩс далалеит франциатәи ар реилазаара, дагьалахәын Франциа ахақәиҭтәра, хаҭала Ельзас имҩаԥысуаз аиҿахысрақәа. 1944 шықәсазы иоуз ахәра ӷәӷәа анаҩс ианашьан амедал Арратә џьар (Croix de Guerre). Аха Реин ианыр ашьҭахь Фанон дызлаз аполк «рыцқьан» арасатә еилыхрала: зцәа еиқәаҵәаз асолдаҭцәа зегьы, Францгьы убрахь дналаҵаны, шьҭахьҟа Тулонҟа идәықәҵан. |
Фанон, Франц Франциа | 1945 шықәсазы Фанон дхынҳәуеит Мартиникаҟа, аха абакалавриат аныхиркәша наунагӡа уантәи дцеит. Адгьылбжьахаҿы даныҟаз, Мартиника ахьӡала, Франциа Акоммунисттә партиа акандидат иаҳасабала Амилаҭтә еизара актәи ааԥхьарахь иқәгылаз имҩақәҵаҩы, иҩыза Еме Сезер иалхратә кампаниа активла ихы алаирхәт. Франциа даннеи, Фанон Лионтәи ауниверситет далгеит, уаҟа иара амедицинеи аԥсихологиеи иҵон, иара убас дырҭаауан афилософиеи, алитературеи, адраматургиеи ртеориақәа рзы алекциақәа. Аԥсихиатр идиплом иманы 1951 шықәсазы, Фанон Франсуа де Тосквилль инапхгарала азыҟаҵарақәа мҩаԥигон, изанааҭ ала аусурагьы далагеит. 1952 шықәсазы Фанон иҭижьит раԥхьатәи ишәҟәы «Черная кожа, белые маски». Уаҟа анализ рызун зцәа еиқәаҵәоу рколониалтә хьыԥшра иҽеим аԥсихологиатә хҟьаԥҟьақәа. Ари ашәҟәы, аханатә анапҩыра доктортә диссертациан, Фанон уи аҟны, Лионтәи ауниверситет аҟны аԥсихиатриеи амедицинеи анҭиҵаауаз иԥылоз арасизм аҭак ҟаиҵон. Адиссертациа мап анацәырк, Фанон иӡбеит уи шәҟәны икьыԥхьырц. Афилософиа адоктор иҩаӡара аиуразы диссертациак азирхиеит, даҽа темак ала. Афилософ Френсис Дженсон Фанон инапҩыра даԥхьан, ахьӡ ҿыц аиҭарц иабжьеигеит, иара иоуп аепилоггьы зҩыз. Дженсон Париж ашәҟәҭыжьырҭа редактор еиҳабыс дыҟан. |
Фанон, Франц Алжир | 1953 шықәсазы Фанон Франциа аанижьуеит, дцоит Алжирҟа, Аҩбатәи адунеитә еибашьраан иполк нхарҭас иахьрымаз. 1953 инаркны 1956 шықәсанӡа напхгара азиуан Алжир иҟаз Блида-Жуанвиль агоспиталь аԥсихиатриатә ҟәша. Уаҟа аус адиулеит аколониалтә ԥсихопатологиа арадикалтә теориа, иара убас ацхыраара риҭон Алжир амилаҭтә хақәиҭра афронт алахәылацәа. Фанон аколониализм азхәыцраҿ мацара дзаангыломызт, уи иҭахын аҭагылазаашьа ахаҭа иԥсахыр. Иара иусура хықәкыс иамаз ақәымчра анышәара акәмызт, ақәымчра ахҟьаԥҟьақәа рыхәышәтәра акәын. Иара иԥсахит ахәышәтәшьа аметодқәа, ахәҭакахьала, ипациентцәа знысыз ркультуратә еимадарақәа рышьақәыргыларазы далагеит асоциотерапиа. Иара убас, аҵара дирҵон амедеиҳәшьцәеи аинтернааи. Алжир ахәышәтәырҭаҿ аус аниуаз Фанон аҭакԥхықәра идлеит ачымазаҩ иԥсихологиатә стресс ахәышәтәразы, афранцыз солдаҭцәеи афицарцәеи аколониалтә ҿагылара ахәаҽразы ауаа рыргәаҟра зхы иазырхәоз. Убри инаҷыданы Фанон идыргәаҟуаз алжиртәи аҿагылаҩцәа ихәышәтәлар акәын. Анаҩс, Фанон еиликааит уаҳа шилымшоз, убри аҟнытә ахәышәтәырҭа аанижьуеит. Аусура данаҟәыҵ ашьҭахь Фанон алшара иоуит Алжир ахьыԥшымраз ақәԥараҟны еиҳа ацхыраара аҭаразы. Алжиртәи ареволиуциа ианалага анаҩс, 1954 шықәса, ноиабр мзазы Фанон иҽадикылеит ахьыԥшымразы алжиртәи аиҿкаара, 1956 шықәсазы «Воин» («El Moudjahid») аредакторс дҟалоит — Тунис иҭыҵуаз агазеҭ алжиртәи амилаҭтә хақәиҭра Афронт акьыԥхьтә ҭыжьымҭа хада. Абасала, Франц Фанон дҟалеит ФНО аидеолог хадас, ахьыԥшымразы алжиртәи ақәԥаҩцәа инарылукааша аӡәы иакәны. Уи аамҭа иалагӡаны, иара атәыла аҩныҵҟа акыр дныҟәеит, иҭиҵаауан алжираа ркультуратә, рыԥсихологиатә ԥсҭазаара. Ааԥын, 1956 шықәсазы иҩит еицырдыруа «Аминистр-арезидент иахь ԥхьатәаразы ашәҟәы», уаҟа шьаҭанкыла мап ацәикит ифранцызтә ассимилиациатә ааӡареи аҵарадырреи. Уи иалҵшәаны 1957 шықәса, ианвар мзазы Блида иҟаз агоспиталь аркын, Фанон франциатәи амчрақәа Алжир далырцеит. Иара Франциаҟа дхынҳәыр акәхеит, уаантәи маӡала Тунисҟа дцеит. 1960 шықәсазы Алжир аамҭалатәи анапхгаҩы Аҳмед Бен Белла Фанон ареспублика Гана ацҳаражәҳәаҩыс дҟаиҵеит. Цҳаражәҳәаҩык иаҳасабала иара дырҭаауан Аккра, Конакри, Аддис-Абеба, Леопольдвил, Каир, Триполи имҩаԥысуаз аконференциақәа. Ари аамҭазы иаԥиҵаз аҩымҭақәа еизгоуп иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь иҭыҵыз ашәҟәаҿы. Уаҟа Фанон иааиртуеит аибашьра атактикатә стратегиақәа: ахқәа руак аҿы иара далацәажәоит аибашьразы аладатәи афронт шаарттәу. |
Фанон, Франц Аԥсра | Ахԥатәи афронт аартразы Сахара дахысны иныҟәараан Фанон алеикемиа изцәырҵит. Тунистәи аспециалистцәа иҟарҵаз абжьгарала иара Асовет Еидгылахь даахьан аҽыхәышәтәразы. СССР данаҭаа ашьҭахь ичымазара маҷк ихьаҵит, уи иалнаршеит иполитикатә уасиаҭ ахыркәшара – еицырдыруа ишәҟәы «Проклятьем заклеймённые» («Les damnés de la terre». Аиарҭа дамахаанӡа, Франц Фанон Гардимао, тунис-алжиртәи аҳәааҿы амилаҭтә хақәиҭра ар афицарцәа алекциақәа дырзаԥхьон. Аҵыхәтәантәи ивизит мҩаԥигеит Римҟа, Жан-Поль Сартр иахь, игәабзиара анеиҭашәа Америкаҟа дцеит. Франц Фанон иԥсҭазаара далҵит 1961 шықәса, декабр фба рзы Вашингтон акалҭ аҿы (Колумбиа аокруг) Бетесд, Ибрагим Фанон ихьӡ шихыз. Иара анышә дамардеит Алжир мрагыларатәи ахәҭаҿы. |
Фанон, Франц Иаԥҵамҭақәа | 1952 шықәсазы, Фанон иҭижьыз ашәҟәы «Чёрная кожа, белые маски» аҟны ӷәӷәала иаҿаԥиҽуеит арасизми аколониализми. Уи ахқәа руак аҿы иҳәоит шаҟа анырра ӷәӷәа инаҭаз, зцәа шкәакәоу афранцыз хәыҷы иан ианлызҿиҭуа: «Мама, бихәаԥш, анегр!» Аха Фанон ари аҭагылазаашьа даиааины, иҭахуп еиликаарц адунеи зегь аҟны аколониализм афеномен. Иара убри ашәҟәы аҵыхәтәантәи ахаҿы иара дазааҭгылоит «амалуаҩи атәи» еицырдыруа аконцепциа Гегель «Феноменологии Духа» аҟынтәи. Фанон изы Алжир аколонизаторцәа рыҟазаара ҵаҵӷәыс иаман арратә мчра. «Ари амчра аҿагылара амчратә ҟазшьа амазароуп, избанзар убри абызшәа мацаралоуп аколонизатор дызлацәажәо. Абасала, амчратә ҿагылара – ари ихымԥадатәу аколонистцәа аколонизациа зызу ирыдырҳәало акоуп», – абас иҩуеит ишәҟәы «Проклятые с Земли» аҟны. Иԥсҭазаара иалҵра егьагымкәа, 1961 шықәсазы, акьыԥхь абеит «Проклятьем заклеймённые» захьӡыз ишәҟәы. Франциа зкьыԥхьра азин ыҟамыз ари ашәҟәы иабзоураны, Фанон аоппозициатә интеллектуалцәа рыхдырраҿы аԥааимбар иҭыԥ ааникылеит. Ажәлар рыргәаҟра аҭакс ареволиуциатә қәымчра ашәа азҳәо, Фанон анырра ӷәӷәа ҟаиҵеит Африкеи Латинтәи Америкеи рмилаҭ-хақәиҭратә еиҿкаараҟны еиԥш, мраҭашәаратәи атәылақәа ррадикалтә еиҿкаарақәа рҿгьы. Иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь иҭыжьын Фанон аҵыхәтәантәи иҩымҭа кьаҿқәа рыла ишьақәгылаз ашәҟәы-аизга — «К африканской революции». Фанон ари ашәҟәаҿы, егьырҭ инарываргыланы, арратә стратегны ихы ааирԥшит. Фанон ихшыҩҵакқәа аҿиара риҭеит Паулу Фреире. Иидеиақәа ирыцызҵо ҳәа рхы рыԥхьаӡон Апантера еиқәаҵәақәа. Аколониализм апроблема – ари ауаҩытәыҩса иҟазшьа аҷыдарақәа иреиуоу аԥсымҭәра апроблема ауп. Афранцыз философ Жан-Поль Сартр, ихаҭа антиколониалтә позициа ааникылон, аколонизаторцәа рахь дшаҵанакуазгьы, иара даԥхьеит Фанон иԥсра шааигәахоз шидыруаз, иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи жәамчыбжь ирылагӡан ииҩыз ашәҟәы. Уи ишьақәнарӷәӷәон ақәымчра шыҟаз. Франц инаҵшьны иазгәеиҭоит рыцҳара дуны ишыҟоу ананамгацәа рзыҟазаашьа, зегьы ззеиԥшу аколонизаторцәа рзы ақәымчра иаҭаху акәны иахьахәаԥшуа. Дара рыԥсҭазаара акагьы иаԥсаӡам, аколонизаторцәа рыԥсра иадкылан уахәаԥшуазар. |
Фанон, Франц Зыԥсы зхыҵуа аколониализм | «Зыԥсы зхыҵуа аколониализм» — ари Фанон ихшыҩырҵагоу иажәабжь ауп, уаҟа иаарԥшуп Алжиртәи ареволиуциа аан Алжир ажәлар шәышықәсалатәи ркультуратә модельқәа ԥсахны ажәытәӡатәи ркультуратә қьабзқәа жәпакы шрыдыркылаз, дара рколониалтә ргәаҟыҩцәа акыраамҭа ирхыччон урҭ ипримитивтәуп ҳәа. Ари ашәҟәы даара аҵакы ӷәӷәоуп: уаԥхьар – еилукаауеит Фанон изиҳәо аколонизациа зызу ауаа рзы «атапанча амазаара – ари уԥсра аҵакы аҭаразы шансзаҵәуп» ҳәа. Зегь реиҳа анырра ҟазҵаз астатиақәа иреиуоу «Иаарту Алжир» аагоуп, иара убас, абри ашәҟәы аҟынтә. Уи иаанагоит аимпериализм амчра акаҳара, иагьаанарԥшуеит ауаа ассимилиациа иацәцарц азы аколонизациа иаҿагыланы ишықәԥо. |
Ииаҵәоу аполитика | Ииаҵәоу аполитика — ари политикатә идеологиоуп, иара ззырхоу зекологиа ҭышәынтәалоу аилазаара аԥҵара ауп. Ииаҵәоу аполитика апринцип хадақәа иреиуоуп енваиронментализм, ақәымчымра, асоциалтә иашареи жәлар рдемократиеи. Ас еиԥш аполитика ашьақәгылара иалагеит 1970-тәи ашықәсқәа рзы, иахьатәи аамҭазы «аиаҵәақәа» рхатәы партиақәа аԥырҵеит акыр адунеи атәылақәа рҟны, ралхыҩцәа рыбжьара даара ақәҿиарақәа рыманы иҟоуп. |
Ииаҵәоу аполитика Апринцип хадақәа | Британиатәи аиаҵәақәа ирылоу Дерек Уолл () игәаанагара ала, дара рпартиа иалнакаауеит ихадароу ԥшь-хырхарҭак, урҭ рыдыркылахьан 1979—1980-тәи ашықәсқәа рзы Ииаҵәоу анемеццәа рпартиа алахәылацәа. аекологиа; асоциалтә иашара; жәлар рдемократиа; ақәымчымра. 1984 шықәса рзы Еиду Америкатәи Аштатқәа рҟны арҭ ахырхарҭақәа ырҭбаан ихадароу аҵакы змоу даҽа жәа-хырхарҭак рыла, хыхь иаагоу рнаҩс, уахь иалалеит: аизакра; аекономикатә ҳәааркра; апатриархалтәнаӡатәи ҵакы; ахкеиԥшымзаара ҳаҭыр ақәҵара; аглобалтә ҭакԥхықәра; ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азхьаԥшра. 2001 шықәса рзы, Аглобалтә иаҵәақәа анцәырҵ, Аглобалтә иаҵәақәа Рхартиа даҽа ф- принципк аланагалеит: аекологиатә хдырра; асоциалтә иашара; апартисипативтә демократиа; ақәымчымра; аекологиатә ҭышәынтәалара; ахкырацәара пату ақәҵара. |
Ииаҵәоу аполитика Ииаҵәоу аполитика | Аполитикатә термин «ииаҵәоу» Германиа ицәырҵит (нем. Grün) 1970-тәи ашықәсқәа рзы, аекологиа ахырхарҭа змаз апартиақәа ралианс иабзоураны. Альтернативтә хьӡны Европа иара убасгьы рхы иадырхәон атермин «аполитикатә екологиа», аха анаҩс уи аполитикатә ҵакы ацәыӡит, анаукатә хырхарҭа мацара аанаго иалагеит. Ииаҵәоу аполитика адгылаҩцәа акыр аидеиақәа еицеиҩыршоит, урҭ, ҳәарада, зегьы аекологиа, иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара, енваироментализм, афеминизм, апофицизм реиԥш иҟоу аилыркаақәа роуп. Жәлар рымчреи аекологиеи рызҵаарақәа рнаҩс, ииаҵәоу аполитика ауаажәларратә хақәиҭра, асоциалтә иашара, ақәымчымра, иналак-аалакны алокализм уҳәа реиԥш иҟоу азҵаарақәагьы ирызхьаԥшуеит, аха иааизакны апрогрессивизм иазааиуеит. Уи иалнаршоит аиаҵәақәа рпартиа арымаратәи аидеологиа адгылаҩцәа рыдыԥхьалара. Аиаҵәақәа рполитика, иара убасгьы, егьырҭ аекологиатә партиақәа ридеологиақәеи иареи аимадара рыбжьоуп, уахь иаҵанакуеит аекосоциализм, аекоанархизм, аекофеминизм. Ус шакәугьы, арҭ аполитикатә еилкаарақәа аиаҵәақәа рпартиа адкыларазы еиуеиԥшым агәаанагарақәа аҭыԥ рымоуп. Аиаҵәақәа рполитика арымаратәи идеологиак аҳасаб ала аҿиара аиуа ианалага инаркны ицәырҵуа иалагеит арыӷьаратәиқәа рыбжьара антиподқәа. Дара, иааизакны иуҳәозар, еиҿагылоз аполитикатә дунеихәаԥшышьақәа шрымазгьы, арҭ аҵысрақәа ируасхырхеит, аиаҵәатә консерватизм, аекокапитализм, аекофашизм, иара убасгьы аекологиатә идеиақәа. |
Ииаҵәоу аполитика Аилыркаара | «Ииаҵәоу» апартиақәеи «аиаҵәақәа» рпартиеи рыбжьара аиԥшымзаарақәа ыҟоуп. Иарбан партиазаалакгьы, фракциазаалакгьы, мамзаргьы политикак «ииаҵәақәоу» ҳәа иазгәаҭазар рыӡбахә ҳәатәуп аекологиатә мзызқәа. Даҽа ганкахьала уахәаԥшуазар, формалла иаԥҵоу аиаҵәақәа рпартиа иаку, ирзеиԥшу идеологиак иқәныҟәозар алшоит, уи иаанагом иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара мацара ауп ҳәа уахь иаҵанакуа, уахь иаҵанакыр ауеит егьырҭ ауадаҩрақәагьы — асоциалтә иашамра, аколлегиалтә ӡбамҭа адкылара, апоцифизм. Аиаҵәақәа ргәаанагара ала, арҭ азҵаарақәа дара рыԥсабаратә хылҵшьҭрала еидҳәалоуп, урҭ адунеи зегь аҟны аҭынчра иашьаҭоуп. Хыхь зыӡбахә ҳәоу азы еицырдыруа акоуп ихадароу ԥшь-хырхарҭак, урҭ рыдыркылахьан 1979—1980-тәи ашықәсқәа рзы Ииаҵәоу анемеццәа рпартиа абзоурала. Аиаҵәақәа рыглобалтә хартиа анапхгараҭаратә принципқәа фба, урҭ иреиуоуп: аекологиатә ҟәыӷара, асоциалтә иашара зҵазкуа, адемократиа иалахәу, ақәымчымра, иҭышәынтәалоу аҿиара, насгьы аиԥшымзаара ҳаҭыр ақәызҵо роуп. |
Ииаҵәоу аполитика «Аиаҵәақәа» рпартиақәа адунеи аҟны | «Аиаҵәақәа» убри аҟара ахаҿырацәара рымоуп, дара реиԥшымзаара иуадаҩу аҩныҵҟатәи аконфликтқәа рахь ицәырыргоит. Аполитикцәа мацара рыӡбахә ҳҳәозар, ауаажәларратә еиҿкаарақәеи, икоммерциатәыми, аԥшьгаратәи гәыԥқәа аламҵакәан, «аиаҵәақәа» рхеидкыла ҩ-ган бзиак рымоуп. Дара еиԥшымзаара хадақәас ирымоу, рыхәҭак аполитика еиҳа иагәыланахаланы иахьыҟоу, насгьы рус хада асоциалтә иашара ашьақәыргылара иахьазку, аҩбатәи ахәҭа иаҵанакуа ракәзар, урҭ аекологиатәи, аԥсабарахьчаратәи проблемақәа еиҳа иахьрызхьаԥшуа. Германиа аус ауеит зегь реиҳа адунеи аҟны иаарылукаартә иҟоу «аиаҵәақәа» рпартиа. Ари апартиа акоалициатә еиҳара иалоуп, Адәныҟатәи аусқәа рминистр, мамзаргьы Аԥсабарахьчара аминистр ари апартиа иалҵыз роуп. Арҭқәа ирыбзоураны «аиаҵәақәа» алшара рымоуп рекологиатә проектқәа раларҵәаразы, убри аан ҭынч егьырҭ аполитикатә мчрақәеи дареи реизыҟазааразы. «Аиаҵәақәа» акыр аихьӡарақәа рымоуп Финлиандиа, Франциа, Италиа, Бельгиа уҳәа реиԥш иҟоу атәылақәа рҟны — урҭ асоциал-демократцәеи дареи коалициак иалоуп. Австралиеи Еиду Америкатәи Аштатқәеи рҟынгьы аекологиатә традициақәа даара иӷәӷәоуп, аха араатәи «аиаҵәақәа» аполитикатә аренақәа рҟны иааира дуқәак рзымгеит. Иҳәатәуп убасгьы, «аиаҵәақәа» реихьӡарақәа шрыдҳәалоу дара ридеиақәа мраҭашәаратәи атәылақәа рекономика анырра ӷәӷәа ахьарҭаз. Дара ирыбзоураны афымцахьчаратә ргылара аиндустриа аира алыршан, еиуеиԥшым аалыҵқәа аԥсҭазаара ҿыц еиҭарыҭан, абылтәы, афымца уҳәа раԥҵаразы аиндустриақәа аԥҵан. «Аиаҵәақәа» ирыбзоуроуп зекологиа цқьоу аалыҵқәа рҭыжьра, иаҳҳәозар, Германиа ишьақәыргылаз аекологиатә нормақәа ршәагаа ашьақәыргылара иабзоураны анемец қалақьқәа рҟны аҳауа еиҳа ицқьахеит, ауаажәларратә транспорт арныҟәара иабзоураны апробкақәа маҷхеит. Аиаҵәақәа рполитикатә партиақәа ааԥхьара ҟарҵоит асоциалтә еиҭакрақәа рымҩаԥгаразы, аԥсабаратә ресурсқәа цәгьашақә рхархәара аанкыларазы. Ас еиԥш ааԥхьара ҟазҵо рахь иаҵанакуеит иҳәынҭқарратәым аиҿкаара Гринпис еиԥш иҟоуи, егьырҭ аиаҵәақәа рпартиақәеи: |
Ииаҵәоу аполитика Аполитика аҟны ииаҵәоу аԥшшәы аҵакы | Мысра аиаҵәа, мамзаргьы ашьацԥшшәы аҭоурыхтә ҵакы амоуп, Византиатәи аимпериа ахаан аахыс, иара аԥсҭазаара, аҿиара, аизҳара, ахақәиҭра уҳәа ирыԥшшәны иԥхьаӡан, аамҭак анаҩс апартиа «Мысразегьтәи асоциалисттә ҵысра» иаԥшшәхеит. Убриаан иазгәаҭатәуп ари аԥшшәы адунеи зегьы аҟны анеитралитети аҭынчреи уҳәа рыԥшшәны ишырыԥхьаӡо. Ҿырԥштәыс иаагозар, «ацәаҳәа иаҵәа» Кипри Беирути, аҩажәатәи ашәышықәса 60-тәии 90-тәии ашықәсқәа рзтәи атерминалогиа ала анеитралтә цәаҳәа аанагон. Иахьа акәзар, «аиаҵәақәа» анырҳәо ари, зегь раԥхьа иргыланы, ауаҩы ихаҿы иааиуа аекологиатә ҵысрақәеи апартиақәеи роуп, даҽакала иуҳәозар, ашьацԥшшәы — аԥсҭазаара, насгьы агармониатә ҿиара иаԥшшәны иԥхьаӡоуп. |
Ииаҵәоу аполитика «Аиаҵәа» аидеиа | Ирҳәоит аҿара иаҵәоуп ҳәа. Ари аҭагылазаашьа аҟны ас еиԥш ажәеицааира даара ианаалоит. Уи зыхҟьо «аиаҵәақәа» апрогрессивтә ҿар иахьрылҵыз ауп. Урҭ рпрограммақәеи русқәеи, еиҳаракгьы ҿыц аԥшьгарақәа раан, 60-тәи ашықәсқәа рзы абунтартә ҟазшьа рнубаалон. Арҭ ашықәсқәа рзы Германиа аҿар активла рабшьҭрақәа акритика рзыруан, афашизм аҿаасҭарақәа ахьаԥдмырҟәҟәааз азы, аибашьра ашьҭахьгьы дара «Ахԥатәи ареих аимшьҭра» изацәцомызт. Ари ахырхарҭаҟны иалкаахаз анемец студентцәа рсоциалисттә Хеилак аԥхьагылас дыҟан Руди Дучке, иара иакәхеит анаҩсан «аиаҵәақәа» рпартиа аԥҵаҩысгьы иҟалаз. Иџьашьатәӡам ари апартиа «анти» шацыз: анти-идеологиатә, анти-тоталитартә, џьара-џьара анти-партиатә. «Аиаҵәақәа» рпартиа аԥҵара ала, аполитикатә система аҟны иалкаан, арымарахьтәиқәа — «аџьа», арыӷьарахьтәиқәа — «акапитал» ҳәа, уи ала авектор ҿыц, аҵак ҿыц цәырҵит. Уи шьақәзыргылоз идеиа хадахеит ачҳара. Анемеццәа роуп «аиаҵәақәа» рпринцип хадақәа раԥхьаӡа акәны иалызкааз. Уи иахьӡын «Четыре столпа Зеленой партии». Аекологиа, аекологиатә ҟәыӷара, арҭқәа «аиаҵәақәа» рполитикатә программа ахәҭақәак ракәын. Уи анаҩсгьы, апартиа иаҵанакуан асоциалтә иашара, ақәымчымра, аҭынч ргылара, аглобалтә шәарҭадара аԥызҵоз, насгьы апартисипативтә демократиа. Аҵыхәтәантәи ажәеицааира дарбанызаалак даршәар алшоит, аха аусқәа ус иҟам, апартисипативтә демократиа ҳәа иԥхьаӡоуп «атәылауаа зегьы рдунеихәаԥшышьа аарԥшра ахьрылшо, насгьы аекологиатә, аекономикатә, асоциалтә, аполитикатә, дара рыԥсҭазаара иахьыԥшу аӡбамҭақәа рыдкылара». Аамҭак анаҩс, «аиаҵәақәа» егьырҭ атәылақәа рҟны ари асиа хадырҭәааит абас еиԥш иҟоу аилыркаарақәа рыла, аҭышәынтәалара, мамзаргьы иҭышәынтәалоу аҿиара, аиԥшымзаара, аҳаҭырқәҵара. Арҭ апринципқәа «аԥсабара ахаҭа ҳамҭас иҟанаҵаз», аӡәы зынӡа иԥсабаратәым ҳәагьы иԥхьаӡар алшоит. Избанзар, урҭ ргәаанагара ала, ақәымчрада аԥсабара ухахьы иузаагом, апартисипативтә демократиа акәзар, уи аҵакы абнатә ԥстәқәа зынӡагьы ирзеилкаауам. Егьа ус акәзаргьы, аԥсабара даара еиҷаҳарала азныҟәара — «аиаҵәақәа» иузрымхуам. Ишыҟазаалак, «аиаҵәақәа» рҵысра азы аҭҵааҩцәа гәаанагарак иазааит, дара идеологиатә базак рымам. «Аиаҵәақәа» ирҳәо аидеиақәа ракәзар, еиҳа ииашан ицәаҩашәоу принципқәоуп ҳәа рызҳәара, абра иазгәаҭатәуп урҭ апринципқәа хыԥхьаӡара рацәала ауаа ишрыцеиҩыршо. |
Ииаҵәоу аполитика Гринпис | 1971 шықәса рзы ирацәаҩымыз активистцәақәак ргәыԥ, адунеи еибашьрадеи қәымчрадеи аҟазаара згәы азыҳәоз, идуцәамыз аԥсыӡкыга аӷба ала канадатәи ақалақь Ванкувер аҟынтәи ӡсара ицеит. Аибашьра иаҿагылоз аҵысра активистцәа, анаҩс Greenpeace аԥҵаҩцәас иҟалаз, агәра ргон, ирацәаҩымкәан ауаа ишрылшо рпланета азын акыр ихәарҭоу аусқәа рыҟаҵара. Аԥхьаҟа ус иагьыҟалеит. Иахьа Гринпис аофисқәа ыҟоуп Мрагыларатәи Азиа, Латинтәи Америка, Европа, Аҩадатәи Америка, Африка, Австралиеи Океаниеи, урҭ ирыбзоураны Гринпис иалоу ирылшоит аглобалтә ҳаракыра аҟны адунеитә проблемақәа рыӡбара. Гринпис акоммерциатә еилазаарақәеи аиҳабыреи ирхьыԥшым, иара иамам еснагьтәи аҩызцәа, мамзаргьы аӷацәа. Гринписаа апланета аресурсқәа рхархәаразы ирыԥшаауеит, насгьы иҭарыҩуеит, иркьыԥхьуеит аексперттә информациа. Гринпис анаукатә центр аԥҵоуп ақалақь Ексетер (Британиа Ду) иҟоу ауниверситет аҟны, насгьы анаука-ҭҵааратә дгылара рзыҟанаҵоит адунеи зегьы аҟнытә апроектқәа. Гринпис аус рыцнауеит атәылақәа реиҳабыреи жәларбжьаратәи аҳәынҭқаррабжьаратә еиҿкаарақәеи (ООН, ЕС, ЕАЭС). Ари аиҿкаара Урыстәылатәи аҟәша адиректор, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иаԥҵоу ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Ахеилак далоуп. |
Ииаҵәоу аполитика Гринпис аофисқәа адунеи аҟны | Гринпис амилаҭтә офисқәа аартуп адунеи 43 тәыла рҟны, дара аӡәы ихьыԥшым, аус руеит рмилаҭтә проектқәа рынагӡаразы. Ас еиԥш аҟәшақәа напхгаҩцәас анагӡаратә директорцәа рымоуп. Иаку аполитика, насгьы жәларбжьаратәи апроектқәа рыстратегиа, есышықәсатәи анагӡаратә директорцәа злахәу Гринпис аиԥылараҿы ирылацәажәоит. Еиуеиԥшым апериодқәа рзы Гринпис еиуеиԥшым апроблемақәа ҭнаҵаауан, урҭ ауаажәларра азхьаԥшыртә иҟанаҵон. Иаҳҳәозар, аиадертә ԥышәарақәа ирҿагылаз акомпаниа 25 шықәса имҩаԥысуан, 1971 шықәса инаркны 1996 шықәсанӡа, иагьхыркәшан Аиқәышаҳаҭра анапаҵаҩра ала, уи иазгәанаҭон аиадертә ԥышәарақәа раанкылара. Антарктика ааглыхратә хархәара аҟнытә ахьчаразы Гринпис алахәылацәа иҵааршәыз ацәҳәыраҿы алагер аԥырҵеит. Ари алагер хәышықәса уа иҟан, 1991 шықәса рзы ихыркәшан, 39 тәыла ҩынҩажәи жәаба шықәса ҿҳәарас иаҭаны ари аконтинент аҟны амаденқәа рыԥшаара мап ацәкразы адгылара анарҭа. Антарктика аҵакырадгьыл аӡәгьы итәымкәа иаанхеит, иара ауаатәыҩса зегьы ирмазарахеит. Гринпис 25 шықәсатәи аусуреи ацхыраареи ирыбзоураны Урыстәыла иаԥҵан аҳәырԥссаррақәа 2, амилаҭтә паркқәа 4, 8 ҵакырадгьылк ИУНЕСКО Адунеизегьтәи аԥсабаратә имшьҭра астатус рыҭан. Гринпис егьырҭ акоммерциатә еиҿкаарақәеи ирыбзоураны аӡиа Баикал зырхәашьуаз ацеллиулоза-қьаадтә комбинат аусура аанкылан, Кавказтәи аҳәырԥссарра аԥсабара лыԥшаах иаԥырхагаз, Шәача аолимпиатә обиектқәа рыргылара аанкылан. Greenpeace хылаԥшра анаҭоит аԥсабарахьчаратә закәанқәа иахәҭоу аҵакырадгьылқәа рыхьчара иазықәԥалартә аҟаҵара, изныкымкәагьы ари азакәан аиҭакрақәа алагалара аԥдырҟәҟәаахьеит, избанзар ус еиԥш аиҭакрақәа аԥсабара ахьчара дырԥсыҽыр алшон. Гринпис ихацнаркыз апроект ала аусура хнаркәшоит иззыԥшу алҵшәақәа ианрызнеилак, мамзаргьы иҟоу апроблема ауаажәларра рҟынӡа ианнаргалак, уи аӡбаразы ауаа анеидгылалак. Уажәы Гринпис аусура даҽа ихадоу ҩ-уск ирзырхоуп – аклимат аԥсахреи абиоеилазаара рацәа аиқәырхареи. Гринпис шьақәгылоуп атәылауааи ахатәы хаҿқәа ргәыҳалалратә фондқәеи рлагалақәа рыла, иара аҳәынҭқарратәи акоммерциатәи еилазаарақәа, аполитикатә партиақәа рҟнытә аԥарақәа аднакылом. Иара убасгьы, Гринпис ахықәкы азнеиразы изакәызаалак ақәымчра аформақәа ахархәара рынаҭом. |
Афундаментализм | Афундаментализм – ари Амассатә информациа ахархәагақәа рҟны, еиуеиԥшым адинхаҵарақәа рымҩаԥысшьа азгәазҭо, ҳаамҭазтәи ареалиқәа рыла иарбанызаалак алагалаҿыцқәа ирҿагыло, насгьы ашьҭрақәлаҩцәа аханатәтәи адинхаҵара разыргьежьра зҽазызкуа еилкаароуп. |
Афундаментализм Ажәа афундаментализм иаанагои уи ахкқәеи | Алаҭын бызшәа аҟынтә иаагоу ажәа афундаментализм (Fundamentum) иаанагоит адинхаҵаратә, афилософиатә, аморалтә, асоциалтә ҵысрақәа рыхьӡ еидызкыло. Афундаментализм иаҿадыргылоит асекулиаризациеи аглобализациеи рыпроцессқәа. Аханатә афундаментализм анцәырҵ ҵакыс иаман иԥшьоу аҩырақәа ирну ишаныҵәҟьоу раԥхьареи, реиҭагареи. Аха анаҩс афундаментализм аҳәаақәа рыҽдырҭбааит, еиуеиԥшым адинхаҵаратә ҵысрақәеи аконцепциақәеи аҵанакра иалагеит. Раԥхьаӡа акәны афундаментализм аконцепциеи уи ажәеи рхы иадырхәо иалагеит апротестанатә еиҿкаарақәа ианрылацәажәоз Еиду Америкатәи Аштатқәа рҿы. Анаука знапы алакым ауааԥсыра зны-зынла афундаментализми афанатизми акакәны ирыԥхьаӡоит. И. В. Кудриашова афундаментализмтә ҵысра ҩ-хкык рыла илшоит: раԥхьатәи агәыԥ ахь иаҵанакуеит авраамтә (авраамические) динхаҵарақәа шьаҭас измоу аҵысрақәа, аҩбатәи — индуизми буддизми рҿы ицәырҵыз. Иааизакны афундаментализм иаанаго уалацәажәозар, иара шьақәгылоуп иуԥсахыр иҟамло апостулатқәеи, атрадициақәа зыԥсахуа аҿыц лагалақәа рҿагылареи рыпринципқәа рыла. Иара убас, ари аҵысра иадырҳәалоит атрадиционализми аконсерватизми. Лассы-лассы ажәа аҵакы ибзианы иззымдыруа афундаментализм адырҳәалоит адинхаҵара, еиҳараӡак амсылманра. Иҟоуп афундаментализм еиуеиԥшым ахкқәа: аҳәынҭқарратә, амилаҭтә, аџьармыкьатә, афеминисттә, аекологиатә уҳәа егьырҭ. Урҭ еиуеиԥшым афундаментализм ахкқәа еицырзеиԥшу шмаҷугьы, еидызкыло ыҟоуп. Уи иадгылоу еснагь иаадырԥшуеит ақәԥаратә идеологиа, урҭ рхатә иашара мацароуп зыгәра рго. Иара афундаментализм атермин ахаҭа еиҳа анегативтә форма амоуп, уи рхы иадырхәоит адогматизм иаҿдырԥшуа апроцессқәа ианрылацәажәо. Уахь иаҵанакуеит амч ахархәара аметодқәа, авторитарра ианалацәажәо. Убри аангьы афундаментализм иаанагозар ҟалоит апринципқәа рықәныҟәара, ахы амеигӡара. Иҟоуп аспециалистцәа, «мраҭашәаратәи адемократиа» аполитикатә фундаментализмны изыԥхьаӡо. С. Хатингтон 90-тәи ашықәсқәа раан иқәиргылаз «ацивилизациа реиҿагылара» ҳәа хьӡыс измаз атеориала, 21-тәи ашәышықәса акультурақәа аԥыжәаразы реиҿагылара иаамҭаны иҟалоит ҳәа азгәеиҭон автор. Даҽакала иуҳәозар, уи аҵысра еиуеиԥшым ацивилизациақәа рҿы аԥыжәара агаразы ахықәкы ахьамоу, адунеи афундаментализм иалаӡоит ҳәа агәаанагара иман Хатингтон. Ацивилизациақәа акоммуникациа ахьрымам иахҟьаны рымҩақәа еиҳа-еиҳа еицәыхарахоит. Аконфликттә ҭагылазаашьа аԥсҭазаара иашьашәаланы иҟалеит. Ацивилизациатә процессқәа ирыдҳәалоу атәылақәа уи Хатингтон дызлацәажәоз амодель ишаҳәо еиԥш лассы-лассы рхы мҩаԥыргоит. Хаттингтон игәаанагарала, ацивилизациатә еиԥшымра еиҳа-еиҳа иӷәӷәахо иалагоит, анаҩсгьы еиҳа амч змоу ацивилизациақәа рыбжьара аконфикт аҽарҭбаауеит. Аԥхьаҟагьы урҭ еиҿамгылар залшом, еиҳарак аконфликт ҟалоит мраҭашәаратәи ацивилизациеи егьырҭ акультурақәеи рыбжьара. Хаттингтон иажәақәа ацәажәарақәа рацәаны иахылҿиааит, аха уажәтәи аамҭазы иубаратәы иҟоуп усҟан аполитолог дызлацәажәоз аиҳарак ииҳәоз шыҟалаз. Аҵарауаҩ Т. Маиер ишиҳәо ала, «аидеологиақәа реибашьра ацивилизациақәа реибашьра амҩа иацнаҵоит». Уи ихьшәашәоу еибашьроуп макьана. Аха адунеи еидызкыло аидеиа анацәыӡ, ацивилизациақәа иаарту аиҿагылара ашҟа иианагар алшоит. Уи еиҳа еицәоу аибашьра ахылҿиаар ҟалоит ҳәа агәаанагарагьы имоуп аҵарауаҩ. Хыхь зыӡбахә ҳамаз америкатәи аполитолог С. Хатингтон иԥхьаӡоит аԥхьаҟа иҟалараны иҟоу аибашьрақәа атәылақәа рыбжьара акәӡам иахьыҟало ҳәа, уи акультурақәеи ацивилизациақәеи рыбжьара ауп иахьымҩаԥысло. Убри аан амсылманратә екстремизм адунеи аҿы зегь реиҳа узыцәшәаша шәарҭараны иҟалоит ҳәа азгәеиҭон иара. Уи аидеиа, иара, астудентцәа алекциа данырзаԥхьоз ирыдигалеит 1992 шықәсазы Америкатәи анапалакратә институт аҿы. Анаҩс уи иусумҭа иациҵоит «1993-тәи ашықәс азы атәым усқәа» («Иностранные дела 1993 года») ҳәа хыс измаз иҩымҭаҿы. Анаҩс уи идиссертациагьы иациҵоит иҩымҭақәеи ишәҟәқәеи рҿы. Афундаментализм адинхаҵараҿы: |
Қьач ауахәама | Қьач ауахәама () — архитектуратә баҟа Аԥсны Џьгьарда ақыҭан. Қьач ҳәа изышьҭоу аҭоурыхтә ҭыԥаҿы игылоуп. Ауахәама VIII-IX ашәышықәсқәа ирыҵаркуеит. Уи Аԥааимбар хада Михаил ихьӡала идыргылазаарын. Аҟазараҭҵааҩцәа ргәаанагарала, Қьач ауахәама Григол Ханӡҭели иҵаҩцәа идыргылаз Неӡви ауахәама (Борџьомтәи амуниципалитет) иеиԥшуп. Ауахәама аҟынтә аҭӡамцқәа мацара аанхеит. Аҩыратә хыҵхырҭақәа рҿы ауахәама аӡбахәы ҳәам. Қьач ауахәама аҟынтә иаанхаз аҭоурыххҳәаа аԥсуаа раҳ Гьаргь II (922- 957 шш.) ихьӡ иадҳәалоуп. Ари атәы аҳәоуп иашьашәалоу ақырҭуа асомҭаврули адҩылаҿы. Аҭоурыххҳәаа араӡнытә аҭра иҭоуп. Ауахәама иргылан заатәи абжьарашәышықәсақәа раан. Ауахәама абашҳа (травертин) ала ихҩоуп. Қьач ауахәама аныхаҷаԥа аҿы иаанханы иҟоуп Гыртәыла аҳ Леван Дадиани 1640 шықәсазы иҟаиҵаз адҩыла: XVII ашәышықәсазы, аԥсуаа абри аҭыԥаҿы рышьаҭа андыркы ашьҭахь, Қьач ауахәама Қьач-абаа ахьӡарҵеит. |
Антисемитизм Антисемитизм ажәа иаанаго | Антисемитизм иаанагоит ауриацәа адинхаҵаратә етностә гәыԥқәак раҳасаб ала ратәамбара. Уи ажәларқәа раҳаҭыр амбара аформақәа ируакуп. Антисемитизм хықәкыла ауриацәа ратәамбароуп иаанаго. |
Антисемитизм Атерминологиа | Ажәа антисемитизм алеигалеит германиатәи апублицист Вильгельм Марр 1879 шықәсазы. Иара дызлахәыз агәыԥ «антисемисттә лига» ҳәа ахьӡитәит. Германиатәи аҭоурыхҭҵааҩ Михаель Владика иԥхьаӡоит ииашамкәа уи атермин раԥхьаӡа акәны Марр идырҳәалеит ҳәа. Атермин ахаҭа амилаҭеилыхра ауп иаанаго, европатәи ажәларқәеи ауриацәеи рыбжьара абиологиатә мааибра ҳәа иԥхьаӡоуп. Иҟалалоит антисемитизм асинонимс иудофобиа ажәа рхы ианадырхәо. Уи атермин авторс дамоуп Одессатәи аҳақьым Леон Пинскер, иара раԥхьаӡа акәны ажәа ихы иаирхәеит 1881 шықәсазы, амассатә еилаҩеиласрақәа рышьҭахь иҩыз апамфлет «Автоемансипациа аҿы». Иара ауриацәа ратәамбареи амилаҭеилыхреи ԥсихикатә чмазароуп ҳәа иԥхьаӡон. Даҽа ҭҵааҩык Соломон Крапвенски игәаанагарала, иудофобиа иаанагоит ауриацәа рыцәшәара. Геннади Костырченко иудофобиа абзазаратә антисемитизм иаҿирԥшуеит. Иаарту Израильтәи ауниверситет аматериалқәа рҿы акәзар, иудофобиа иаанагоит ҭоурыхла традициала арассатә антисемитизм цәырҵаанӡа ауриацәа ратәамбара. |
Антисемитизм Антисемитизм ахкқәа | Антисемитизм иаҵанакуеит ауриацәа ратәамбара иадҳәалоу еиуеиԥшым ацәырҵрақәа. Ҭоурыхла антисемитизм ҿион антикатә иудофобиа аҟынтәи ҳаамҭазтәи иҿыцу антисемитизм аҟынӡа. Антикатәи антисемитизм ижәытәӡоу антисемитизм ахкқәа иреиуоп. Иара, аҭоурыхҭҵааҩцәа ргәаанагараала антикатәи апериод аан амырҭаҭцәа рганахьала ауриацәа ратәамбара шьаҭас иаман. Уи аидеа иадгылоз ауриацәа егьырҭ амилаҭқәа рцәымӷын ҳәа рыԥхьаӡон, амилаҭтә традициақәа ирҿагылон, аекономика иаԥырхаган, ииашам адыррақәа ауаа ирыладырҵәоит ҳәа агәаанагара рыман . Адинхаҵаратә антисемитизм даҽакала антииудаизм ахьӡуп. Иара ақьырсианраҿы аҩбатәи ашәышықәса аҩныҵҟа ицәырҵит ҳәа иԥхьаӡоуп. Ақьырсианратә антисемитизм ауриацәа аиудаизм иахьықәныҟәои, Иаса Қьырса мессиас дахьырыԥхьаӡои, иара убас иара ишьра рнапы ахьалакызи рцәымӷара аанагоит. Ус еиԥш иҟоу агәаанагара иԥшьоу аҩырақәа рҿы ишьақәырӷәӷәоуп. Уа ишаҳәо ала, Иаса Қьырса дынцәоуп, ауриацәа зегьы Анцәа дызшьыз ажәлар ҳәа ирыԥхьаӡоит. Уи аидеиа иадгылоу ауаа рдинхаҵара зеиԥшроу ала еиҩыршоит, убри аан рмилаҭ аҵакы амаӡам. Ус анакәха, ақьырсианра здызкылаз ауриацәа рықәыӷәӷәара аанрыжьуазар акәын. Аха аԥсҭазаараҿы даҽакала ианыҟалоз ыҟан, рдинхаҵара рыԥсахыргьы ауриацәа рҭаацәеи дареи еснагь иатәарбомызт. Уажәтәи аамҭазы адинхаҵаратә антисемитизм ақьырсианра аҿы еиԥш, амсылманра аҩныҵҟагьы ус еиԥш иҟоу ацәырҵрақәа уԥылоит . Арассатә антисемитизм. Ас еиԥш иҟаз антисемитизм ахкы 19-тәи ашәышықәсазы ицәырҵит, уи аклассикатә антисемитизм ҳәа иԥхьаӡоуп. Антисемитизм ахаҭа ацәырҵра арассатә еилыхра иадырҳәалоит. Арассатә антисемитизм иалҵшәахеит Холокост. Уи ацәырҵра иадгылаз ауриацәа иатәамбакәа, абиологиатә ҷыдарақәа змоу жәларны ирыхәаԥшует, иара убас ирҿагылоит змилаҭ зҵәахуа, егьырҭ амилаҭқәа ирылаҵәаз ауриацәа. Дара ауриацәа, ицқьоу амилаҭқәа аԥырхага рырҭоит ҳәа ирыԥхьаӡоит. Иҟоуп агәаанагара, уи амилаҭ иаҵанакуа амчра рнапаҿы иааргар рҭахуп ҳәа. Иҿыцу антисемитизм. 1990-тәи ашықәсқәа раан аҭоурыхҭҵааҩ Даниель Паипс иалаигалеит «иҿыцу антисемитизм» ҳәа аилкаара ҿыц. Уи ҵакыс иаман ауриацәа рцәымӷра, урҭ рхатә ҳәынҭқарра Израиль ашьақәыргылара ахьырҭаху азы. Уи адагьы иҟоуп антисемитизм егьырҭ ахкқәагьы. Аҭоурыхҭҵааҩ аетнолог Виктор Шнирельман иԥхьаӡоит аетностә, адинхаҵаратә антисемитизм анаҩсгьы ишыҟоу асоциалтә модернизациа иаҿагылоу антисемитизм . Иара ауриацәа рхаҭақәа уи ацәырҵра иқәныҟәоит. Хаҭала иуҳәозар, уахь иаҵанакуеит акоммунистцәеи аконсерваторцәеи. Генади Костырченко антисеметизм ишоит асоциалтәи аполитикатә ҟазшьа змоуи рыла. Раԥхьатәи аӷәыԥ ахь иаҵанакуеит абзазаратәи аидеологиатәи антисемитизмқәа. Абзазаратә антисемитизм идеологианы ирыԥхьаӡаӡом, аха уи ауриацәа ратәамбара ауп иаанаго. Уи агәаанагара адҳәалоуп ауриацәа рыбзазашьа зеиԥшроу, дара рхаҭа амилаҭеилыхра ахьрымоу аҟнытә. Мраҭашәараҿы абзазаратә антисемитизм амилаҭтә антисемитизм ҳәа азырҳәоит. Аидеологиатә антисемитизм акәзар, аҳәынҭқарраҿы амч анапаҿы аагаразы ақәԥараҿы, аполитикатә ԥсҭазаара иахәҭакны иҟалоит. Абас аҳәынҭқарратә антисемитизм аполитика иахәҭакны иҟалеит афашисттә Германиа аҟны . |
Антисемитизм Антисемитизм атермин ацәырҵра амзызқәа | Антисемитизм ацәырҵра амзызқәа ҭызҵаауа анаукатә усзуҩцәа ҩ-гәыԥкны рҽыршоит: асубстанционалистцәеи афункционалистцәеи рыла. Асубстанционалистцәа ирыԥхьаӡоит антисемитизм ацәырҵра ауриацәа рхаҭақәа ирхароуп ҳәа, афункционалистцәа – уи ацәырҵра аҭыԥантәи аконфликтқәеи аиҿагыларақәеи ирхароуп ҳәа. Уи азнеишьа шьақәиргылеит Ицхак Хаинеман. Антисемитизм ацәырҵра зыхҟьаз амзызқәа иара убас даҽа ҩ-гәыԥк рыла иршоит: анаукатәи афилософиатәи амзызқәа рыла. Анаукатә мзызқәа ҳарзааҭгылозар, ажәытәӡаны иудофобиа ацәырҵра, ауриацәа егьырҭ ажәларқәа рҟынтәи рҽалкаара иахҟьеит. Уи ауриацәа Анцәа иаликааз жәларуп ҳәа ирымаз агәаанагара иахылҿиааит. Ус уи аԥхьа ақьырсианцәа амырҭаҭра иадгылоз цәымӷырҭас иркуан, гәаҟрала ианҭадырхозгьы ыҟан. Аҭоурыхҭҵааҩ С. И. Лурие антисемитизм ацәырҵра анҭиҵаауаз игәеиҭеит, ауриацәа ажәытәӡаны аибашьрақәа рышьҭахь иаиааины аметрополиахь нхара ианыргозгьы рхатә культуреи рдинхаҵаратә принципқәеи шаанырмыжьуаз. Ауаажәларраҿы иагьа ақәыӷәӷәара роургьы уи иацәхьаҵӡомызт. Аха уи ус иҟаҵәҟьазу иҟамзу аҵарауаа иахьагьы еимаркуеит. |
Антисемитизм Афилософиатә мзызқәа | Аурыс философ И.А. Бердиаев игәаанагарала, ақьырсианцәа ауриацәа рганахь ала антисемитцәан. Ауриацәа Иаса Қьырса иахьидымгылаз ишәииз рассоуп ҳәа ирыԥхьаӡон. Ақьырсианра аиудаизм иаҿагылоит . Аурысцәеи ауриацәеи реизыҟазаашьа ҭиҵаарц иҽазишәеит А. И. Солженицын, иҩымҭа «200 шықәса ҳаицнаҵы» аҿы. Иара антисемитизм ацәырҵра мзызк аҳа еиҳауп ҳәа иԥхьаӡон. Уи ауриацәа ахьынхоз ицәырҵуаз еиуеиԥшым апроблемақәа аҵкыс ирыхҟьон ҳәа азгәеиҭон. Аха Солженицын игәаанагара аҭоурыхҭҵааҩцәа лассы-лассы ианадымгылалоз ҟалон. Иҟоуп афилософцәа, антисемитизм ацәырҵра аԥсихологиатә комплексқәа ирхароуп ҳәа изыԥхьаӡоз. Ус, Жан-Поль-Сартр антисемитизм ашәара ауп изыхҟьо ҳәа иԥхьаӡон. Антисемитизм иадгылаз ауриацәа ракәӡамызт изыцәшәоз, дара ирымаз ахақәиҭреи аҭакԥхықәреи ракәын. Н. А. Бердиаев иакәзар, антисемитизм ацәырҵра абаҩхатәрадара иадиҳәалон. «Фреиди Бергсони иауриацәоуп ҳәа ианраҽыԥнырҳәо иаанаго гәырҵҟәылдароуп, – иҩуан иара. – Ашьыцра ааныжьны ауриацәа анаукеи аҭҵаарақәеи рҿы шәыриааир шәҭахызар, шәхаҭақәа акыр зҵазкуа анаукатә усзуҩцәаны шәҟалароуп. Анаукаҿы дара риааиразы иаҭахуп арҿиара. Ахақәиҭра иаанагоит амчра. Ииашаӡам ауриацәа еиҳа ахақәиҭра рымоуп егьырҭ ажәларқәа раасҭа ҳәа агәаанагара» . Антисемитизм апроблема иаҿагылон аурыс шәҟәыҩҩцәа Чехови Достоевскии. Достоевски иҩымҭа «Преступление и наказание» аҿы автор дырзааҭгылеит антисемитизм ацәырҵра аекономикатә мзызқәа. Иара игәаанагарала, ауриацәа традициала аҵарадырра бзиа ахьрымоуи, аԥсҭазаараҿы еиҿкаау аекономика рхы иахьадырхәои ауп амалду рызҭо, убри аҟнытә ирыҵашьыцуа рацәаҩуп, ргәаӷ ркуеит. Ус ауриацәа ԥыҭҩык мчыла Венантәи иандәықәырҵа, иҭацәхеит зқьыла ауаҭахқәа, анаҩс дара анацистцәа ирыҭан. Аҵарадырреи, анаукеи, аспорти рҿы ауриацәа рлагала усҟак адыррақәеи алшарақәеи змамыз ауаа аршьыцуан, ус ҟазҵоз еиҳарак здыррақәа лаҟәыз ракәын. |
Антисемитизм Антисемитизм аҭоурых аҿы | Уажәтәи аамҭазы антисемитизм адгылаҩцәа рхы иадырхәо аргументқәа реиҳарак антикатәи аамҭа аҟынтәи иаагоуп, еиҳарак Александриа аҟынтәи. Уи раԥхьатәи адгылаҩцәа дреиуоуп аныхаԥааҩ Манифон ҳәа ззырҳәоз ауаҩы. Иара дынхон 285–246 шш. ҳера ҟалаанӡа. Иҩымҭақәа рҿы иҳәон ауриацәа аҳәынҭқарра ишацәӷьычуаз, ауахәамақәагьы иакәымкәа ишрызныҟәоз, пату ақәырҵаӡомызт ҳәа. Усҟан аҳәынҭқарраҿы арра иахысуаз ауриацәа, атәыла аинтересқәа раасҭа, дара рыжәлар, рдинхаҵара рыцеиҩызшоз еиҳа ирыдгылон ҳәа иԥхьаӡан. 38 ш. ҳера аан Александриа ауриацәа рнырҵәаразы аиҿагыларақәа мҩаԥысит . |
Антисемитизм Антисемитизм XX ашәышықәсазы | Урыстәыла 20-тәи ашәышықәса алагамҭазы, еиҳараӡак Аҳ иманифест анрыдыркыла ашьҭахь, ауриацәа рықәыӷәӷәаразы амассатә акциақәа ирыцҵан. 660 ҭыԥ ирылаҵәеит урҭ аиҿагыларақәа. 1911 шықәсазы Киев 12 шықәса зхыҵуаз аҷкәын ишьра ихарарҵеит азауад аусзуҩы М. Беилис. Уи аус атәы адунеи иалаҵәеит. 1913 ш. аӡбарҭаҿы иара ииашамкәа ахара шидырҵаз шьақәырӷәӷәан. Уи аамҭазы Урыстәыла ицәырҵит аҭоурыхтә фактқәа иаарҳәны иазырбо аматериалқәа реизга «Сионтәи адырҩцәа рыԥкаанҵақәа». Аҭоурыхҭҵааҩ В. Г. Костырченко игәаанагараала, Урыстәылатәи аимпериаҿы антисемитизм еиҳараӡак аҽарӷәӷәеит ареволиуциеи атәылауаҩратә еибашьреи раан. Гәаҟрыла ишьыз ауриацәа уи аамҭазы 100-нызқьҩык рҟынӡа инаӡоит. |
Антисемитизм Антисемитизм Германиа | Арассатә антисемитизм Германиа х-цәырҵрак аман: аҳәынҭқарратә, асоциал-қьырсианратә, арасатә. Аҳәынҭқарратә антисемитизм хазы уалацәажәозар, уи еиҳараӡак иадгылон аконсерваторцәеи амилаҭтә либералцәеи. Дара дыруаӡәкын Генрих фон Треичке. Дара ауриацәа ирыдҳәалоу апроблема иахәаԥшуан анемец ҳәынҭқарра ҿыц аргылара аганахь ала. Ус ауриацәа рҟынтәи ирҭахыз рмилаҭтә хдырра ааныжьны анемеццәа ҳәа рхы рыԥхьаӡарц азы. Аха уи аганахь ала ауриацәа иӷәӷәаны ирықәгәыӷуан ҳәа узҳәомызт. Асоциалтә қьырсианра акәзар, еиҳа ааконсервативтә ҟазшьа аман, урҭ аусуҩцәа рыкласси ақьырсианреи рыхьчара хықәкыс ирымоушәа рхы аадырԥшуан. Дара реиҳабы А. Штекер аӡбарҭақәа, аҵараиурҭақәа рҿы ауриацәа рхыԥхьаӡара армаҷразы дықәԥон. Аха еиҳа арадикалтә ҟазшьа змаз арассатә антисемитизм акәын. Уи иадгылоз акоммунизми асоциализми рыдагьы, алиберализмгьы иаҿагылон. Ари ацәырҵра ахатә форма аиуит 1880 -тәи ашықәсқәа рзы. Дара анемеццәа рраса хадоуп ҳәа ирыԥхьаӡон, аҳәынҭқарраҿы иҟоу ацәырҵрақәа реиҿагылара зыхҟьо германиатәи арасеи ауриацәеи рыбжьара иҟоу ақәԥароуп ҳәа. Аԥсабараҿы зегь ахьеиҟарам, арасақәагьы иааныркыло аҭыԥқәа еиԥшӡам ҳәа агәаанагара рыман арасатә антисемитизм адгылаҩцәа. Убри аҟнытә ауриацәа германиатәи араса иамаркуеит иааныркыло аҭыԥ ҳаракы. Иара убас дара ирыман аидеиа, Европа иқәынхо анемец бызшәала ицәажәо, милаҭла иаҵанакуа зегьы ҳәынҭқаррак аҳәааҿы реидкылара. Уи ала дара ирҭахын ауриацәа Австриаҟа рцаразы азин рымхра, аҳәынҭқарра аҩныҵҟагьы дара рганахь ала иҷыдоу азакәанқәа раԥҵара. Арасизм ауаа рзинқәа рыларҟәразы иқәԥон, егьырҭ ажәларқәа рҿаԥхьа германиатәи амилаҭ иаҵанакуаз еиҳа аԥыжәара рырҭон. Ахԥатәи ареих аҿы арҭ аидеиақәа еиҳа адгылара роуит. Гитлергьы урҭ аидеиақәа идикылоит, арасатә антисемитизм аҳәынҭқарратә политиканы иҟаиҵоит. Ауриацәа жәларык раҳасаб ала индырҵәо иалагоит. Холокост ҳәа ахьӡ аиуеит уи аамҭа . |
Антисемитизм Антисемитизм Израиль | Асовет ҳәынҭқарра анеилыбга ашьҭахь, уаҟа инхоз ауриацәа Израильҟа нхара ицеит. Аха дара ирыцны уахь идәықәлеит арепатриациатә процесс иаҵанакыз иауриацәамыз ауааԥсыра. Закәанла ауриацәа ирхылҵшьҭрақәаз Израильҟа ахынҳәразы азин рыман. Уи иахҟьаны Израиль ицәырҵуеит антисемитизм ахк ҿыц. Уи аамҭазы уаҟа ицәырҵуеит аурыс етностә еиҿкаарақәа, скинхед ҳәа изышьҭоу, ауриацәа зцәымӷу ацәырҵрақәа. |
Антисемитизм Антисемитизм XXI ашәышықәсазы | Антисемитизм еиҳараӡак иҿиоит 2000-тәи ашықәсқәа рзы. Адокументалтә фильм «Антисемитизм 21-тәи ашәышықәсазы: аҿиара» автор Ендриу Голдберг иԥхьаӡон антисемитизм агәҭа аԥсылман культуреи арабцәеи рыбжьара иҟоуп ҳәа. Антисемитизм апроблема ҭызҵаауаз иазгәарҭон 2009 шықәсазы ишырацәахаз антисемисттә ҟазшьа змаз акциақәа. 2013 шықәсазы Еиду Америкатәи Аштатқәа рҿы аҳәынҭқарратә департамент иазнархиеит ауаҩ изинқәа ирызкыз ажәахә. Уаҟа 2012-тәи ашықәс азы антисемитизм аганахь ала зегь реиҳа иҭынчымыз ҳәынҭқаррақәаны иазгәарҭон Венгриа, Венесуела, Грециа, Украина. 2014 шықәсазы Антидиффамациатә лига антисемитизм аиндекс ркьыԥхьит. Дара рыҭҵаарақәа 102 ҳәынҭқарра рҿы имҩаԥыргеит, иара иалахәын 52-нызқьҩык ауааԥсыра. Дара хықәкыс ирыман адунеи аҿы антисемиттә тенденциақәа рдинамика аилкаара. Аҭҵаара излаҳәо ала, антисемитизм еиҳа иҳаракуп Ааигәатәи мрагылареи Аҩадатәи Африкеи. Аҩбатәи аҭыԥ аннакылоит Мрагыларатәи Европа, уаҟа антисемиттә идеиақәа ирыдгылоит 34% ауааԥсыра, убри аан Урыстәыла уи ахыԥхьаӡара 30% рҟынӡа инаӡоит, Украина – 38%. Зегь реиҳа антисемитизм адгылаҩцәа ахьмаҷу Австралиеи Океаниеи роуп. 2015 шықәса ажьырныҳәа мзазы раԥхьаӡа акәны антисемитизм атема иалацәажәеит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа хада аҿы. |
Антисемитизм Антисемитизм аҿагылара | Иахьатәи аамҭазы антисемитизм акритика ӷәӷәа азыруеит. Ус афилософ Фридрих Ницше иакәзар, антисемитизм ахы ажьароуп иаанаго ҳәа иԥхьаӡон. Ашәҟәыҩҩы Владимир Высоцкигьы иашәақәа рҿы уи ацәырҵра дахыччаны дахцәажәон. Жан-Поль Сартр антисемитизм гәаанагарак аҳасаб ала аҟазааразы азин амоуп ҳәа мап ацәикуан . 19-тәи ашәышықәсанӡа ауриацәа антисемитизм аганахь ала ирыман х-гәаанагарак: Ауаажәларратә елитахь иаҵанакыр, ауриацәа ақәыӷәӷәара роуӡом ҳәа; Ассимилиациа аҭахуп ҳәа – адинхаҵара аԥсахра; Аемиграциа – даҽа тәылак ахь нхара аиасра. Аха арҭ зегьы хаҭала уриак ипроблемақәа ракәын иаӡбоз. Убри аан ауриацәа жәларык реиԥш рҭагылазаашьа шыҟаз иаанхон. Уажәтәи аамҭазы антисемитизм аганахь ала аҭагылазаашьа зеиԥшроу аилкааразы иаԥҵоуп еиуеиԥшым аиҿкаарақәа. Уахь иаҵанакуеит Антидиффамациатә лига. Иара убас, апроблема аҭҵаараҿи амониторинги рнапы алакуп анаукатә еиҿкаарақәа, иаҳҳәап, Тель-Авивтәи ауниверситет иаҵанакуа Стефан Рот ихьӡ зху аинститути, антисемитизм аҭҵааразы Видал Сассун ихьӡ зху жәларбжьаратәи ацентри уҳә егьырҭ. 2005 шықәсазы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иаднакылеит антисемитизм аҿагыларазы арезолиуциа, Европатәи аидгылагьы еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа нанагӡеит уи ашықәсаз, антисемитизм аҿагыларазы. |
Антисемитизм Алитература | К.Ю. Хдери. РОЛЬ ПАМЯТИ О ХОЛОКОСТЕ В ОТНОШЕНИЯХ ГЕРМАНИИ И ИЗРАИЛЯ. «Мировая политика». С. 138. Костырченко Г. В. Введение // Тайная политика Сталина: власть и антисемитизм. — М.: Международные отношения, 2001. — С. 14—15. — 78 |
Ампыҵахалара | Ампыҵахалара () — ари мчылатәи аҳәынҭқарра, мамзаргьы уи ахәҭак даҽа ҳәынҭқаррак ганкахьала мацара адҵара ауп иаанаго. |
Ампыҵахалара Изакәызеи аннексиа-ампыҵахалара | Ҳаамҭазтәи жәларбжьаратәи азин инақәыршәаны, аннексиа ари агрессиа ахкқәа ируакуп, иахьатәи аамҭазы иара жәларбжьаратәи — азинтә ҭакԥхықәра аҵанакуеит. Аннексиеи аоккупациеи реиԥшымзаара алкаара аҭахны иҟоуп, ампыҵахалара иаанагом аҵакырадгьыл аиуристтә еиҭакрақәа аланагалоит ҳәа. Убас, иаҳҳәозар Босниеи Герцеговинеи, 1878 шықәса раахыс Австро-Венгриа анапаҵаҟа аоккупациа аҟны ианыҟаз, аннексиа азуын ҳәа иԥхьаӡан, 1908 шықәса рзынӡа формалла Османтәи аимпериа иаҵакырадгьылны иԥхьаӡан. Ҭырқәтәылатәи ареспублика Аҩадатәи Кипр аԥҵара рылаҳәан 1983 шықәса рзы, уахь аҭырқәа архәҭақәа аналагалаз, анаҩс 1974 шықәса рзы Ҭырқәтәыла мацарала иазхаҵан, аха уи аилазаара иалаҵамызт. Аннексиа, мамзаргьы ампыҵахалара абас еиԥш аилкаарақәа реиԥшымзаара азгәаҭатәуп: «аӡәгьы иитәым адгьылқәа» раахәара (terra nullius) иеффективтәу аоккупациа ала, аҵакырадгьыл анапахьы аагара хықәкыс иҟаҵаны; цессиа-ҭынч мҩала ҳәынҭқаррак аҵакырадгьыл даҽа ҳәынҭқаррак аҭара, аиқәышаҳаҭра анапы аҵаҩра иабзоураны; адиудикациақәа — ҳәынҭқаррак аҵакырадгьыл ахәҭак даҽа ҳәынҭқаррак аҭара, аӡбарҭеи арбитражтә органи рыӡбамҭа инақәыршәаны; аахәаратә аамҭа акрахыҵра — асуверенитет аахәара, мамзаргьы аиура еимактәыз аҵакырадгьыл аҟны акраамҭа ҳәа; аккрециа — ҿыц иаԥҵахаз адгьылтә ҭыԥқәа рыла аҳәынҭқарра аҵакырадгьыл аизырҳара. Ишьақәгылахьоу жәларбжьаратәи азин аҟны ишарбоу ала аннексиа — мамзаргьы ампыҵахалара иахьатәи аамҭазы аҵакырадгьыл аахәара аҟны аиуристтә ҵакы амам, избанзар ус еиԥш аҭагылазаашьа жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҟны амчра ахамырхәара апринцип еиланагоит. |
Ампыҵахалара Аннексиа жәларбжьаратәи азин аҟны | Аклассикатә жәларбжьаратәи азин аҳәынҭқаррақәа азин рымнахуамызт арратә усқәа рымҩаԥгаразы. Даҽа ҳәынҭқаррак аҵакырадгьыл ампыҵахалара ганктәи аҳәамҭа ала, мамзаргьы аҭычратә еиқәышаҳаҭра амчра анаиулак анаҩс, аҭагылазаашьақәа зегьы азгәаҭаны аиуристтә шьаҭа змоу аҵакырадгьыл аахәара ауп ҳәа иԥхьаӡан. Аибашьра аан, мамзаргьы зыӡбахә ҳәоу аҵакырадгьыл еибашьрала ганкахьалатәи ампыҵахалара — ари ҵыхәтәантәины, хырԥашьа змам ҭагылазаашьаны иԥхьаӡан. Убри алагьы, аибашьра еилгаанӡа, мамзаргьы аҭынчратә еиқәышаҳаҭра анапы аҵарҩаанӡа, мчылатәи ампыҵахалара афакт аҵакырадгьылтә суверенитет аҭаразы азинтә шьаҭа азхоит ҳәа иԥхьаӡамызт. Аҳәынҭқарра-амԥыҵахалаҩ зинс иамаз аоккупациа ҟазҵаз аҳәынҭқарра азинқәа ракәын. Даҽа ҳәынҭқаррак аҵакырадгьыл аиқәышаҳаҭра анапы аҵаҩрада уи аибашьра шьаҭас иамамзар, азинмчы амамызт ҳәа иԥхьаӡан, аннексиа ҟазҵо аҳәынҭқарра ари аҵакырадгьыл аҟны иӷәӷәаны ашьаҭақәа аҳазаргьы. Убас, Босниеи Герцеговинеи раннексиа, 1908 шықәса рзы Австро-Венгриатәи аимпериа ала аиуристтә шьаҭа амамызт ҳәа иԥхьаӡан, ари аҵакырадгьыл 1978 шықәса рзы Берлинтәи аконгресс аӡбамҭа ала Австро-Венгриа анапаҵаҟа ишиагазгьы. Актәи Адунеизегьтәи еибашьранӡа, акыр аҭынчратә еиқәышаҳаҭрақәа, насгьы уи анҵәамҭазы анапы зҵаҩыз, иазгәарҭон аиааира згаз аҳәынҭқаррақәа, мамзаргьы изиааиз аҳәынҭқаррақәа рыҭара, мамзаргьы ҿыц иаԥҵахаз аҳәынҭқаррақәа рыҭара. Ас еиԥш аиқәышаҳаҭрақәа мчылатәи анапаҵаҩратә елементқәа ишрызцәымцозгьы, дара аиуристтә шьаҭа рымоуп ҳәа иԥхьаӡан. |
Ампыҵахалара Аннексиа Амилаҭқәа Рлига аԥҟаԥҵәа амчра анаиу ашьҭахь | Даара иҭышәынтәалаз ааԥхьарахеит, раԥхьатәи аннексиа алегитимразы Амилаҭқәа Рлига аԥҟаԥҵәа (1920 ш.), уи ажәабатәи ахәҭаҷ аҟны иаартны хәдықәҵара азнауан аҳәынҭқаррақәа рҵакырадгьылтә акзаарақәеи, аҳәынҭқаррақәа рполитикатә хьыԥшымреи, ажәаҩатәии ажәафтәии ахәҭаҷқәа рҟны акәзар, аибашьра алагара азин ԥкын. Анаҩс, ихадараз шьаҿаны иҟалеит Келлог-Бриан ипакт (1982 ш.) амчра аиура, уи аибашьра азы азин ҟанаҵомызт, аполитикатә хықәкқәа рызнеиразы мыругас иҟаҵаны. Ас еиԥш азинтә еиҭакрақәа ирыбзоураны, агрессиатә ҟазшьа змаз аибашьрақәа азиншьаҭа змамыз ҳәа ирыԥхьаӡо иалагеит, ус еиԥш аибашьра иабзоураны аҵакырадгьылқәа анапахьы аагара жәларбжьаратәи азин аҟны илегитимтәым, насгьы амч змам ҳәа иахәаԥшуа иалагеит. |
Ампыҵахалара Аннексиа – Еиду Амилаҭқа Реиҿкаара Аԥҟаԥҵа амчра анаиу ашьҭахь | 1945 шықәса рзы, амчра зауз Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аԥҟаԥҵәа жәларбжьаратәи азин аҟны ишьақәнарӷәӷәеит аннексиа аанкыларазы зегьы ирзеиԥшыз азин амҭара. Аԥҟаԥҵәа аҩбатәи ахәҭа ахԥатәии аԥшьбатәии ахәҭаҷқәа аҳәынҭқаррақәа-алахәылацәа ирыднаҵоит жәларбжьаратәи аҳәоуеиқәымшәарақәа рыӡбаларц ҭынчымҩала, иара убасгьы дара жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҟны аҵакырадгьылтә акзаара, мамзаргьы иарбанызаалак аҳәынҭқарра аполитикатә хьыԥшымра мчралатәи ақәмақарреи амчи рыла рыӡбара аҟнытә рыҽныркылаларц. Абасала, аибашьра мацара акәымкәа, амч ахархәара иарбан формазаалакгьы иахәаԥшуа иалагеит жәларбжьаратәи-изакәандаратәу усны, уи еиԥш аус азин аиура зыҟамло. Абарҭқәа инарықәыршәаны, иарбанызаалак аннексиа - ампыҵахалара закәан шьаҭак аманы изыҟалом. Аҳәынҭқаррақәа аиуристтә шьаҭала ирыдуп аннексиа-ампыҵахалара амҩала инагӡоу, аҵакырадгьылтә еиҭакрақәа разхамҵара. Убри анаҩсангьы, аҳәынҭқарра аҵакырадгьыл зегьы аннексиа азура алнаршом уи аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи азин асубиектк аҳасаб ала аныӡаара, алшара шамамгьы ахатәы суверинетет аԥҵаразы, аҵакырадгьыл хылаԥшра аҭара шзалнамыршогьы. |
Ампыҵахалара Ҳаамҭазтәи азинтә ҭагылазаашьа | Изакәаным аннексиа апринцип изныкымкәа ишьақәырӷәӷәан еиуеиԥшым Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа Хадеи Ашәарҭадаратә Хеилаки ррезолиуциақәа рҟны. 1967 шықәса рзы, Ашәарҭадаратә Хеилак 242-тәи арезолиуциа аҟны (1967 ш.) инаҵшьны иазгәаҭан «аибашьра амҩала аҵакырадгьыл анапахьы аагара ҟалом» ҳәа. Ас еиԥш ишьақәырӷәӷәан,1974 шықәса рзы, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа Хада 3314-тәи арезолиуциа аҟны (XXIX), ахәбатәи ахәҭа ахԥатәи апунк аҟны агрессиазы аилкаара атәы ахьаҳәо, уа иазгәаҭан «иарбанызаалак аҵакырадгьыл анапахьы аагара, агрессиа ахархәара ала, азакәан шьаҭа аманы иԥхьаӡазарц залшом» ҳәа. Арегионалтә ҳаракыра аҟны Хельсинктәи Ахыркәшаратә акт-1975 ш. рзтәи аҟны I—IV апринципқәа рҟны аҳәынҭқаррақәа рсуверентә еиҟарара азханаҵоит. Аҳәынҭқаррақәа ҭакԥхықәраны ирыдуп амч ахамырхәара, ақәымчра аҳәаақәа рыламкьысра, аҳәынҭқаррақәа рҵакырадгьылқәа ракзаара аганахь ала, ус аҭыԥ анаиу аамҭазы, аннексиа ахархәарала аҵакырадгьылқәа анапахьы аагара азакәантә шьаҭа амамзаара шьақәнарӷәӷәоит. Ахԥатәи аҳәынҭқаррақәа иарбанызаалак рҵакырадгьылтә ԥсахрақәа, аннексиа абзоурала иҟалаз, разхамҵара атәы ҳәоуп Жәларбжьаратәи азин азы акомиссиа азакәанԥҵара аҟны. |
Ампыҵахалара Иерусалими Голантәи аҳаракырақәеи рымпыҵахалара | 1947 шықәса рзтәи Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Аплан аҟәша инақәыршәаны, Иерусалим жәларбжьаратәи қалақьны иҟалар акәын. Иара иадыргалоз ауриатәии арабтәии аҳәынҭқаррақәа ирыҵанакуа иҟамлар акәын. Араб-израильтәи аибашьра аан, 1948 шықәса рзы, Иерусалим мраҭашәаратәи ахәҭа Израиль иаанакылеит. Аибашьра еилгеит 1949 шықәса рзы, анапы зҵаҩыз аинышәаразы аиқәышаҳаҭра ала. 1967 шықәса рзы, фымштәи аибашьра аан игаз аиааира иабзоураны, Израиль Мрагыларатәи Иерусалим анапахьы иаанагеит, уи алагьы ақалақь аҵакырадгьыл хылаԥшра анаҭо иҟалеит, уи анаҩс иаку Иерусалим аҟны ахатәы суверенитет рыланаҳәеит. Израиль иаднакылоз аусқәа жәларбжьаратәи аилазаара иаднамкылеит, изакәаным аннексиатә актуп ҳәа иаԥхьаӡеит, уи иалнаршом ақалақь астатус аԥсхара жәларбжьаратәи азин инақәыршәаны ҳәа иаԥхьаӡеит. Ус шакәыз дырҵабыргуеит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа хадеи Ашәарҭадаратә Хеилаки ирыдыркылаз арезолиуциақәа (шәахәаԥш, Арезолиуциақәа 2253 [ES-V] и 2254 [ES-V] 1967 ш.), (убасгьы арезолиуциа 252 1968 ш.). Ас еиԥш апозициа анаҩстәи арезолиуциақәа рҟынгьы ишьақәырӷәӷәан. Голантәи аҳаракырақәа раннексиа атәы ҳҳәозар, ус еиԥш Израиль имҩаԥнагеит, 1981 шықәса ԥхынҷкәынмза 14 рзы ирыдыркылаз Голантәи аҳаракырақәа рзы Азакәан амчра ахархәара ала, Ашәарҭадаратә Хеилак арезолиуциа аҟны ишьақәнарӷәӷәеит: «Израиль аӡбамҭа ахатәы закәанқәа рышьақәыргыларазы, аоккупациа зызуу сириатәи Голантәи аҳаракырақәа рҟны аиурисдикциеи анапхгараҭареи рышьақәыргылара иазырхоу жәларбжьаратәи аиуристтә мчра амам», – ҳәа (Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара Ашәарҭадаратә Хеилак арезолиуциа №497 1981 ш.). Аиԥш зеиԥшыз агәаанагара аҳәеит Ассамблеиа Хада арезолиуциа ES-9/1, 1982 шықәса рзы. Аха ус шакәызгьы, 2017 шықәса ԥхынҷкәынмза 6 рзы, Еиду Америкатәи Аштатқәа рхада Дональд Трамп официалла аҳәамҭа ҟаиҵеит Иерусалим Израиль иаҳҭнықалақьуп ҳәа. |
Ампыҵахалара Ҟрым аннексиа | 2014 шықәса рзтәи Украинатәи ареволиуциа, Евромаидан аҵысра алахәцәа рыла иабжьгаз, Украина аҳҭнықалақь Киев аҟны, акыр ианубаалаша ахҟьаԥҟьақәа ҟанаҵеит Ҟрым азы. Адгьылбжьаха амчрақәа, еиҳарак аетникатә аурысцәа рыла ишьақәгылоу ауааԥсыра роуп еснагь аурыс политика иадгылоз, уаанӡатәи рпрезидент В. Ианукович иполитика иадгылоз. Уи атәыла даналырца, иааргаз мраҭашәараҟа иԥшуаз аамҭалатәи аиҳабыра, «насильственная украинизация» иашьҭаз, Ҟрым аганахь ала асепаратисттә дҵақәа ықәнаргыло иалагеит. 2017 шықәса, хәажәкырамза 17 рзы, Украинатәи Автономтә Республика Ҟрым ахьыԥшымра рыланаҳәеит, насгьы Урыстәылатәи Афедерациа алаларазы аҳәара ҟанаҵеит. Ҟрым аҳәара Урыстәыла адгылара азыҟанаҵеит, адырҩаҽныҵәҟьа Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путини Ҟрым ахаҭарнакцәеи Ҟрым Урыстәыла адҵаразы аиқәышаҳаҭра рнапы аҵарҩит, уи иабзоураны Ҟрым официалла Урыстәылатәи Афедерациа иасубиектны ирылаҳәан. 2014 шықәса, хәажәкырамза 24 рзы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа Хада арезолиуциа 68/262 аднакылеит, Украина аҵакырадгьылтә акзаара иадгылоз. Арезолиуциа аҟны аҳәамҭа ҟаҵоуп, Ҟрым хәажәкырамза 16, 2014 шықәса рзы имҩаԥгаз Ареферендум азакәан шьаҭа амам ҳәа, насгьы аҳәынҭқаррақәа зегьы, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рахь ааԥхьара ҟаҵан Автономтә Республика Ҟрыми ақалақь Севастополи рыстатус аԥсахра азхарымҵаларц азы. |
Ампыҵахалара Босниеи Герцеговинеи рымпыҵахалара | Босниеи Герцеговинеи 1878 шықәса раахыс Австро-Венгриа анапаҵаҟа аоккупациа аҟны ианыҟаз, аннексиа азун ҳәа иԥхьаӡан 1908 шықәса рзы, уаанӡа формалла Османтәи аимпериа иаҵакырадгьылны иԥхьаӡан. Ҭырқәтәылатәи ареспублика Ладатәи Кипр рылаҳәан 1983 шықәса рзы, уахь аҭырқәа архәҭақәа аналагалаз анаҩс 1974 шықәса рзы, иара Ҭырқәтәыла мацарала иазхаҵан, аха уи аилазаара иалаҵамызт. |
Ампыҵахалара Алитература | Словарь русского языка: В 4-х т. / РАН, Ин-т лингвистич. исследований; Под ред. А. П. Евгеньевой. — 4-е изд., стер. — М.: Рус. яз.; Полиграфресурсы, 1999г. |
Ипшқоу амчра | Иԥшқоу амчра – ари аполитикатә мчрақәа ирформоуп, иара ала агәазыҳәарақәа рылҵшәақәа наӡоит, хатәгәаԥхаралатәи алахәрала, агәадура, аднаԥхьалара уҳәа рыла, абри алагьы иџьбароу амчра «жесткая сила» еиԥшым, уи иаанаго мчыла арҟаҵара ауп. |
Ипшқоу амчра Атермин зхылҿиааз | Атермин «иԥшқоу амчра» (англ. soft power) — зегь раԥхьаӡа ахархәарахь иалазгалаз Гарвардтәи ауниверситет апрофессор Джозеф Наи иоуп, ари атермин цәырҵит 1990 шықәса рзы иҭижьыз ишәҟәы Bound to Lead: The Changing Nature of American Power аҟны. Анаҩс, иара ари аилкаара инеиҵыху ахархәара аиҭеит, 2004 шықәса рзы иҭижьиз ишәҟәы Soft Power: The Means to Success in World Politics аҟны. «Иԥшқоу амчра» аконцепциа аларгалаанӡа, ахархәара аман аконцепциа «акультура-идеологиатә гегемониа», уи аус адиулеит италиатәи афилософ Антонио Грамши, 1930—1940-тәи ашықәсқәа рзы ишәҟәы «Абахҭатә тетрадқәа» («Тюремные тетради») аҟны. «Иԥшқоу амчра» даара аларҵәара аиуит мраҭашәара европатәии америкатәии анеоконсерваторцәа рыбжьара. Аконцепциа «иԥшқоу амчра» амчра ашьақәыргыларазы ахархәара аидеиа ахы акит ажәытәӡатәи китаитәи афилософцәа рҟынтә, Лао-цзы иеиԥш иҟаз, ҳера ҟалаанӡа абыжьбатәи ашәышықәса азы. Адунеи аҟны иҟаӡам маҭәарк, аӡы аҟара иҟәымшәышәу, аха уи иалшоит зегь реиҳа икьакьоу, иӷәӷәоу амаҭәар арбгара, аԥыххаара. Аха «иԥшқоу амчра» азы зегь иреиӷьу ҿырԥштәуп аԥҳәыс лгәыкра, ахацәа еиҳа ирзааигәоу «иџьбароу амчра» иаҿырԥшны рыӡбахә уҳәозар ауп. Аурыс бызшәа аҟны ари атермин зегь реиҳа аларҵәара змоу синонимуп «априаник», «аҟамчы» («кнут») акәымкәа, аха уи ахархәара амам амчра ашьақәыргыларазы акультуратәи адемократиатәи мазарақәа рхархәара аконтекст аҟны. Иԥшқоу амчра ԥшқаны иҟазҵозеи? Иԥшқоу амчра шьаҭас иамоуп акультуратәи аполитикатәи мазарақәа, аинститутқәа, «шәара ишәҭаху аҩыза зҭаху», даҽа џьоукы радԥхьалара зылшо. Иԥшқоу амчра аҿырԥштәқәа: Аполитикатә мазарақәеи аинститутқәеи: адемократиатә алхрақәа, апартиарацәара; ауаҩы изинқәа; ахақәиҭра; агәыҳалалра (ҿырԥштәыс иаагозар, Маршалл иплан Иапониа аиҭашьақәыргыларазы Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра ашьҭахь). Акультуратә мазарақәа: Амузыка (аҿырԥ., аджаз, рок-н-ролл); афильмқәа (аҿырш., голливудтәи збиуџьет ҳараку афильмқәа); англиатәи абызшәа, алитература. Ахархәаратә ԥыжәарақәа: Coca-Cola, Snickers; аџьынсқәа, амода иақәшәо амаҭәақәа; |
Ипшқоу амчра Китаи | Китаи иаарласны аҿиара инамаданы аҵыхәтәантәи ашықәсқәа ирылагӡаны, насгьы адунеитә арена аҟны анырреи ирыбзоураны, ари атәыла анапхгаҩцәа рҿаԥхьа иқәдыргыло иалагеит азҵаара «иԥшқоу амчра» атәылаҟны аларҵәаразы. Иазгәаҭоуп, IV Апленум ЦК КПК 16-тәи ааԥхьара (цәыббрамза 2004 шықәса) аҿаԥхьа ишықәнаргылаз китаитәи акультура атәыланҭыҵ апроекциа ҳасабтәхаданы ишықәнаргылаз: «Китаи акомплекстә мчра арӷәӷәара. Китаи акультура аларҵәара, зегьы иреиӷьу адунеи зегьы ахь ацәырҵра, иара жәларбжьаратәи анырра ашьҭыхра». ЦК КПК 17-тәи аизара ду ажәахә аҟны иазгәаҭан атермин «иԥшқоу амчра». 2002 шықәса рзы Китаи алагеит рбызшәеи ркультуреи аларҵәаразы аҳәаанырцә ацентрқәа раԥҵара, 2004 шықәса рзы урҭ ацентрқәа Конфуци Иинститутқәа (Институты Конфуция) ҳәа ахьӡ роуит. Хазы игоу усмҩаԥгатәқәахеит, Китаи аполитика аҟны «иԥшқоу амчра» аарԥшра аусхк аҟны, 2008 шықәса рзы Пекин Аолимпиатә хәмаррақәа рымҩаԥгара. |
Ипшқоу амчра Урыстәыла | Урыстәылатәи Афедерациа апрезидент иусԥҟа ала, 2007 шықәса, рашәарамза 21 рзы иаԥҵан «Аурыс дунеи» («Русский мир») зыхьӡырҵаз афонд. Иҟоуп убас еиԥш агәаанагара, Урыстәыла аԥыжәара амоуп «иԥшқоу амчра» аганахь ала. Урыстәыла иахәаразы уи аларҵәара, ахархәаразы. Ганкахьала, «иԥшқоу амчра» рыдыркылоит «иаԥсам» хархәагак акәны ахатәы интересқәа раларҵәаразы. Даҽа ганкахьала, аганқәа еидызкыло анормативтә идеал рыԥшаара аҭахымкәа иҟалоит «иԥшқоу» апотенциал азы агәыцә аԥызҵар зылшо. Атермин «иԥшқоу амчра» Урыстәыла адәныҟатәи аполитика ахырхарҭак апотенциал аҳасаб ала, Урыстәыла аофициалтә гәыԥқәа рҟны ахархәара аиуа иалагеит 2012 шықәса аҽанааиҩнашоз инаркны. Урыстәыла аимиџь аҳәаанырцә ашьҭыхра анапы ианҵоуп Россотрудничество. |
Ипшқоу амчра Урыстәыла «иԥшқоу амчра» аконцепциа | Иахьатәи аамҭазы «иԥшқоу амчра» лассы-лассы ахархәара амоуп аҳәынҭқаррақәа рыдәныҟа-политикатә стратегиақәа рҟны аҭагылазаашьа маншәалақәа раԥҵаразы. Ас еиԥш ахархәара аҩныҵҟатәи аҿиара аҟны, насгьы егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟны анырра аларҵәаразы хархәага маншәалоуп. Урыстәыла акәзар, ари аконцепциа аҟазаара аҭыԥ амоуп, америкатәи аклассикатә знеишьақәа акыр иреиԥшымзаргьы. Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аполитика, Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент 30.11.16 шықәса рзы ишьақәирӷәӷәаз аҟны, «иԥшқоу амчра» аарԥшуп адәныҟатәи аполитикатә ҳасабтәқәа рыӡбага мыруганы. Иазгәаҭоуп, иара аграждантә еилазаара, аинформациа-коммуникациатә, агәыҳалалратә уҳәа аметодқәа, атехнологиақәа, итрадициатәу адипломатиатә методқәа хазырҭәаауа алшарақәа шьаҭас ишамоу. Иҟоуп еиуеиԥшым «иԥшқоу амчра» аинститутқәа, насгьы иаарту Урыстәылатәи адипломатиа, уахь иаҵанакуеит: Аҳәынҭқарратә мчрақәа рорганқәа, зегь раԥхьаӡа иргыланы Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи уи аилазаареи; Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа, аграждантә еилазаара аинститутқәа; Иглобалтәу Амассатә информациатә хархәагақәа; Ҳаамҭазтәи аҵарадырраҟны апроектқәа. |
Ипшқоу амчра Ҭырқәтәыла ҳаамҭазтәи «иԥшқоу амчра» аинструментқәа | Ҳаамҭазтәи Ҭырқәтәыла, егьырҭ адунеитә ҳәынҭқарра дуқәа реиԥш, иацәтәымымхеит ари атермин. Дж. Наи, америкатәи аҵарауаҩ, иалаирҵәаз аидеиа «иԥшқоу амчра» ахархәара аиуит ҳаамҭазтәи Ҭырқәтәылатәи Ареспублика адәныҟа-политикатә стратегиа аҟны. Ҭырқәтәыла аганахьала «иԥшқоу амчра» ахархәара аиуит евразиатәи арегион аҭоурых, агеографиатә ҭагылазаашьа рхы иархәаны Европеи Азиеи реихысырҭақәа рымҩа аҟны, иара убасгьы арҭ аҵакырадгьылқәа рҟны инхо ажәларқәа еидызкыло амилаҭтә, адинхаҵаратә, абызшәатә еилазаарақәа уҳәа афакторқәа ирхьырԥшны. Агәыларатә тәылақәеи Ҭырқәтәылеи рыбжьара аҭыԥ змаз аҭоурыхтә имшьҭреи акультуратә еимадарақәеи роуп иҳараку аинырра аԥызҵаз. Ҭырқәтәыла иԥшқоу амчра аларҵәара, ахархәаразы еиуеиԥшым аиҿкаарақәа аԥнаҵеит, аҳәынҭқарратәқәа реиԥш, ахатәы-ҳәынҭқарратәқәеи, ахатәқәеи (частные). «Иԥшқоу амчра» аларҵәаразы, насгьы координациа азуразы ароль ду нарыгӡоит ахылаԥшырҭақәа аинститутқәа, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра, Атуризми акультуреи рминистрра, Ауаажәларратә дипломатиа аминистрра, Иунус Емре ифонд,Ҭырқәтәыла Амзабжа Ҟаԥшьы уҳәа реиԥш иҟоу. Даара аҵак ду арҭоит Жәларбжьаратәи аусеицуреи аҿиареи рзы Ҭырқәтәылатәи амаҵзура (TİKA), ари аҩыза аиҿкаара иахәаԥшуеит адәныҟатәи аполитика амҩаԥгара азы мыругак аҳасаб ала, Ааигәа мрагыларатәи арегион, Кавказ, Агәҭатәи Азиа, Балканы, Африка уҳәа рҟны. Ари аиҿкаара аҵарадырра, агәабзиарахьчара, ааглыхра уҳәа реиԥш иҟоу ахырхарҭақәа рҟны аус ауеит. Иара убасгьы, атиурк бызшәақәа ртәылақәа 17-тәи Рпарламенттә ассамблеиа аҟны, уи аԥҵан 2008 шықәса рзы, иқәгылеит атәылақәа: Агәҭатәи Азиа, Ҟазахсҭан, Киргизиа, иара убасгьы, Азербаиџьан рҟны «иԥшқоу амчра» аларҵәаразы институтк аҳасаб ала. Иԥшқоу анырра амыругақәа рахь иуԥхьаӡар ауеит абас еиԥш ахырхарҭақәа, акультуреи абызшәеи раларҵәара ахырхарҭа аҟны аусеицура. Ас еиԥш апрограммақәа ирылахәу аҳәаанырцәтәи атәылауаа мацара ракәым, урҭ рхы аладырхәуеит Ҭырқәтәыла атәылауаа, аҳәаанырцә инхо. Атәыла иаиуа аимиџь аҳәаанырцә аԥҵаразы, насгьы Ҭырқәтәылатәи Ареспублика аҿиара астратегиа аларҵәаразы ари аиҿкаара еиуеиԥшым акультуратә усмҩаԥгатәқәа ирылахәуп. Аҭырқәа имшьҭра, мамзаргьы атәылақәа-апартниорцәа ркультуратә имшьҭра аиқәырхара аус аҟны, ари атәыла аҟны зегь реиҳа ҵакы змоу, акрызҵазкуа мыруганы иахәаԥшуеит «иԥшқоу амчра». Аха, абра иазгәаҭатәуп, акультура ахырхарҭаҟны аусмҩаԥгатәқәа даара рҵакы шдуу. Ари ахырхарҭаҟны еиҿкаау аусқәа ззырхоу, Ҭырқәтәыла аганахь ала аҭыԥ змоу астереотипқәеи агәаанагарақәеи риааиреи, Ҭырқәтәыла акультура ашҟа аинтерес ашьҭыхреи роуп. Аҵарадырра, анаука, аинновациақәа рхырхарҭақәа рҟны аусеицура ари Ҭырқәтәыла азы аҩбатәи акрызҵазкуа инструментуп «иԥшқоу амчра» ахархәара аҟны. Иахьатәи аамҭазы ҭырқәтәылатәи аҳәынҭқарра анапхгара дара ртәыла иахәаԥшуеит аҳәаанырцәтәи астудентцәа адзыԥхьало центрны, ара иаԥҵахо, зхаҭабзиара ҳараку аконкурентра зылшо аинновациа ҿыцқәа ахьалагалоуи аҵарадырра ҳараки аҭыԥ ахьрымоу азы. Абас еиԥш иҟоу афакт азхьаԥшра ахәҭаны иԥхьаӡоуп - Ҭырқәтәыла аҳәаанырцәтәи астудентцәа мацара аднаԥхьалом, ртәылаҟны аҵара рҵаларазы, ари атәыла аҳәаанырцә иаанартуеит афилиалқәеи арҵаратә программақәеи. «Иԥшқоу амчра» ахархәаразы даара акрызҵазкуа ароль нарыгӡоит атәылақәа-аобиектқәа рҟны аусутә еимадарақәа рышьақәыргылара. Ари аҭырқәа усдкылаҩцәа Ҭырқәтәыла аҳәаа зыцеиҩнашо реиԥш, егьырҭ аҳәынҭқарратә регионқәа рҟынгьы шаҟа активла русқәа еиҿыркаар рылшо азы алшарақәа роуразы аҭагылазаашьақәа аԥнаҵоит. 2012 шықәса анҵәамҭазы, Ҭырқәтәыла даара қәҿиарала, шә-тәылак рҟны 7000 проект аларҵәара алшеит. Арҭ апроектқәа ирыбзоураны, иааизакны аргыларатәи атехникатәи сектор иаиуз ахашәала наӡоит 242 миллиард Америкатәи адоллар. 33 аҭырқәа фирмақәа, жәларбжьаратәи анардадкылаҩцәа 225 ртоп иалаҵан, урҭ иааныркылеит аҩбатәи аҭыԥ, китаитәи аилазаара ашьҭахь. Иахьатәи аамҭазы даара уаҩы ибарҭоуп Ҭырқәтәыла ишаланарҵәо астратегиатә бренд, насгьы атәылақәа-аобиектқәа рҟны абизнес шарҿио, абизнес аҿиаразы аҭагылазаашьа бзиақәа ахьаԥҵоу тәыланы ахы аӡыргара ала. Аҵыхәтәантәи аамҭазы, Ҭырқәтәыла адәныҟатәи аполитика амҩаԥгара аус аҟны даара акрызҵазкуа мыруганы иамоуп «иԥшқоу амчра», уаажәларратә дипломатиак аҳасаб ала, уи ззырхоу Ҭырқәтәыла адунеитә еилазаара аҿаԥхьа аҵакы ашьҭыхра ауп. 2010 шықәса рзы иаԥҵан, аԥыза-аминистр иегида аҵаҟа Ҭырқәтәыла ауаажәларратә дипломатиа аминистрра, уи ҷыдарахеит Ҭырқәтәыла «иԥшқоу амчра» институтк аҳасаб ала аларҵәаразы. Ауаажәларратә дипломатиа аусура аларҵәареи акоординациа рзуреи абасеиԥш аинститутқәа рнапы алакуп: TİKA, Ҭырқәтәылатәи Амзаҿа Ҟаԥшьы, Атуризми акультуреи рминистрра, Ҭырқәтәыла амилаҭтә телехәаԥшра уҳәа егьырҭ аилазаарақәа. Ара иубарҭоуп атәыла азы агәаанагара шышьақәгыло уи аиҳабыреи, еиуеиԥшым аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи, аиҿкаарақәеи аҳәаанырцә имҩаԥырго аусқәа рыла. Ари афакт инамаданы иумбарц залшом жәларбжьаратәи аҿиара ахырхарҭаҟны, аполитика ахырхарҭа иузаҟәымҭхо ишықәгылоу Ҭырқәтәыла «иԥшқоу амчра». Атәылаҿы аҿиара бзиа змоу аекономикеи аҭышәынтәалареи ирыбзоураны Ҭырқәтәылатәи Ареспублика жәларбжьаратәи аҿиара аҟны даара акрызҵазкуа лахәылахеит. «Иԥшқоу амчра» аларҵәара апотенциал ари аҳәаанырцәаа рыблақәа рахь атәыла цқьа иааиуа иҟазҵо акрызҵазкуа хархәагоуп. Иаҳҳәозар, авизадатә режим ари ахықәкы азнеира иазырхоу мыругоуп. Абри ала алкаақәа рыҟаҵара алыршахоит, ҭырқәтәылатәи адипломатцәеи аспециалистцәеи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рхырхарҭаҟны аамҭа кьаҿк иалагӡаны «иԥшқоу амчра» аралҵәаразы амыругақәа алҵшәаашьҭра шрылшо аадырԥшит ҳәа, уи ала Ҭырқәтәыла апозитивтәи адԥхьаларатәи имиџь шьҭыхын. Аха абра инаҵшьны иазгәаҭатәуп, адәныҟатәи аполитика аҿиаразы амыруга ҿыцқәа зыӡбахә ҳәоу «иԥшқоу амчра» анырԥшра ишазырхамыз. Урҭ зегьы аԥҵан, насгьы ахархәара аҭан атәыла ахәаахәҭратәи акоммерциатәи интересқәа рзы мацара. |
Ипшқоу амчра Акритика | Иԥшқоу амчра аконцепциа даара акритика азун, ихырҳагам акакәны, Colossus аԥхьажәа аҟны Нил Фергиусон иеиԥш иҟоу авторцәа рыла. Уи игәаанагара ала, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсубиектқәа ҩ-стимул заҵәык анырра рырҭозар ауп – аекономикатәии арратәии асанкциақәа. Лассы-лассы иҟалоит иԥшқоу амчреи егьырҭ афакторқәеи рыхҟьа-ԥҟьақәа реиҩдыраара аныуадаҩу. Ҿырԥштәыс иаагозар, Дженис Маттерн (Janice Bially Mattern) ишьақәирӷәӷәоит, Џьорџь Буш иҳәамҭа ахархәара «шәара шәҳадгылоит, мамзаргьы шәаҳҿагылоит» («вы с нами или против нас») ишаанагоз иԥшқоу амчра ахархәара, избанзар уи иаҵанакуамызт шәарҭара бааԥсык. Аха аӡәырҩы уи авторцәа иаартым ашәарҭара адырбалоит, избанзар ишиашоу аекономикатәи арратәи асанкциақәа аҳәамҭа «ҳара шәаҳҿагылоит» («против нас») аҟны ианыԥшуеит ҳәа агәаанагара рымоуп. |
Камантәи абаа-зал Камантәи абаа-зал () — Абаа-зал Аԥсны Каман ақыҭан. Абаа иргылан абжьарашәышықәсақәа раан. | Абаа-зал Каман ақыҭа мрагыларахьтәи ахәҭаҿы, абнара ала ихҩоу ахәы иқәгылоуп, ҩ-ргыламҭак рыла ишьақәгылоуп. Аҩадахьала иҟоу аргыламҭа дууп, апланла иеиҵыху акәакьҭаиаша ауп. Аҭӡамцқәа еиқәханы иҟоуп 2 метрак аҩаӡараҟны. Аҩадатәи аҭӡамц аҿы аҩналарҭа амоуп. Ауахәама аҩычаратә хаҳәқәа рформеи ршәагеи еиԤшым. ИнақәырԤшны, абри аҩыза аформа амоуп аладахьала игылоу аԤшьганеиҟараиашатә ргыламҭа. Аҩналарҭа ҟаҵоуп мраҭашәаратә аҭӡамц аҿы. Араагьы аҭӡамцқәа 2 метрак аҳаракыраҿ еиқәхеит. Аҩада-мрагыларатә акәакь аҿы иҟоуп Ацқьа Василиск ибазилика. Анцәа дзахҵо аҭыԤантәи ауааԤсыра рзы ари аҭыԤ ныхоуп. |
Петровское иҟоу Анцәадзыхшаз луахәама | Петровское иҟоу Анцәадзыхшаз луахәама () — Аԥсны Петровское ақыҭа азааигәара иҟоу архитектуратә баҟа. Ауахәма иргылан XX ашәышықәсазы. Ауахәама Анцәадзыхшаз лыхьӡала иргылан, адәахьала ишьыхуп. Аныҳәарҭеи азали еиҩшоуп амҿтәы аныхаҭӡы ала. Аныҳәарҭаҿы ахыргьагьатә аԥенџьыр иҟоуп. Аладатәи аҭӡамц аҿы ахыргьагьатә аԥенџьырқәа ҩба иҟоуп, мраҭашәарантә аҩналарҭа амоуп. Ауахәама ихыбуп аҭанақьтәы хыб ала. |
Аҟәатәи асинагога | Аҟәатәи асинагога () — Аԥсны Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу асинагога. Игылоуп Инал-иԥа имҩаҿы (ԥаса К. Маркс имҩа). Иргылан XX ашәышықәсазы, ауриацәа рԥарала. Асинагога аадыртит 1953 шықәсазы. Азалтә ргыламҭоуп, аплан ала акәакьҭаиаша ауп. Мрагыларахьала аҩналарҭа амоуп. Азал агәҭаны акафедра иҟоуп, уи иаакәыршаны апартақәа гылоуп. Мраҭашәарахьала ҩ-ԥенџьырк амоуп, аҩадахьалеи аладахьалеи — ԥшьба-ԥшьба аԥенџьырқәа. Асинагога аус ауеит. |
Џьырхәатәи ауахәама Џьырхәатәи ауахәама () — Аԥсны Џьырхәа ақыҭан иҟоу архитектуратә баҟа. Ауахәама иргылан XIX ашәышықәсазы. | Ауахәама иргылан 1888 шықәсазы, хҩык ацқьацәа — Васили Дуӡӡеи, Григори Адинҭҵааҩи, Иоанн Ахьҿеи рыхьӡала, Кавказ аиашахаҵаратә қьырсианра аиҭашьақәыргыларатә уаажәларра ала. Ауахәама ахәы иқәгылоуп. Азалтә ргыламҭа дууп. Мрагыларатә ганахьала иаваҟаҵоуп асаркьалсырҭа. Агежьбжататә апсида аладатәи аԥенџьыр аҭыԥаҿы архитравтә ҩналарҭа ҟаҵоуп; аҩадатәи аԥенџьыр иҭырҭәааны иҟоуп. Аҩадатәи аладатәи афасадқәа аҵаргәы ала ирӷәӷәоуп. Аладатәи афасад аҿы иҟоу ахыргьагьатә ҩналарҭа наҟ-ааҟ аԥенџьырқәа амоуп. Аҩадатәи афасад аладатәи афасад иеиԥшуп, аха акылҳарақәа амоуп. Асаркьалсырҭа актәи аихагыла аҩадахьалагьы, аладахьалагьы, мраҭашәарахьалагьы ахыргьагьақәа амоуп. Аҩбатәи аихагыла мраҭашәарантә алашара иҩналоит аԥенџьыр акылҳара аҟынтә. Ахԥатәи аихагыла аханқәа рыхԥагьы рҿы ахыргьагьақәа амоуп. Ауахәама еиҭашьақәыргылан 1916 шықәсазы. |
Недерланд | Недерланд, Ҳоландиа () — Европаҟны атәыла. Недерланд акралра () ахәҭоуп. Аҵанакы – . Аҳәынҭқарра иаланхо – . |
Subsets and Splits