title
stringlengths 1
175
| text
stringlengths 63
16.4k
|
---|---|
Абаахыбтәи абааш | Абаахыбтәи абааш () — Аԥсны абаахыбра ақыҭан иҟоу абааш. Абаа иргылоуп абжьарашәышықәсақәа раан. Абаа ақыҭа мрагыларатә ахәҭаҿы, ашьха ашьапаҿы игылоуп. Ицәу ахаҳә иалхауп. Агежьбжататә абаа 6-7 метр аҳаракыра амоуп. Абаа аҭӡамцқәа рҭагылазаашьа цәгьоуп, зыԥшра ҟамҵакәа аконсервациа рзутәуп. |
Пицундатәи ауахәама | Пицундатәи ауахәама () — Аԥсны X ашәышықәса иаҵанакәа, Анцәадзыхшаз лыхьӡала Пицунда иҟоу акафедралтә уахәама. 2006 шықәса Абҵарамза 7, Қырҭтәыла ахада идҵа ала, амилаҭтә ҵакы змоу иеиҭамҵуа акультуратә баҟа акатегориа анашьан. Пицундатәи ауахәама, Аԥсны атерриториаҿы иҟоу егьырҭ абаҟақәа реиԥшҵәҟьа, ақырҭуа архитектура аҿиара еилымшәо иалахәып, аха, Қырҭтәыла егьырҭ абаҟақәа иреиԥшымкәа, византиатәи абаҟақәа рыԥшра амоуп. |
Пицундатәи ауахәама Ҭеимураз Батонишвили иҳәамҭала, Пицундатәи ауахәама аҭыԥан игылан ивериелаа рныҳәарҭа хада — Боча ауахәама. | „...Ибераа зегьы ажәытәӡатә раҳ Боча имҵаныҳәон, иара иныхабаа абеиарала иҩычаз Хахьтәи Колхидеи Аԥснытәи Пицундеи рҳәааҿы игылан (ақьырсиантә дин аан уахәамас иҟалеит)“ |
Пицундатәи ауахәама Абаҟа ахцәажәара | Пицундатәи ауахәама еиҵыху аџьар-ҟәырӷтә ргыламҭоуп, мраҭашәарахьала анартекс амоуп, мрагыларахьала - апсидқәа хԥа. Нартекс Қырҭтәыла шамахамзар иуԥылом, аха апсидқәа иҟазшьарбагоуп заатәи аамҭа иаҵанакәа ақырҭуа уахәамақәа рзы, еиҳа ихьшәаны, мраҭашәаратә Қырҭтәылазы, лымкаала, Амшын Еиқәа агаҿы иҟаз ауахәамақәа рзы (аха, мрагыларатә Қырҭтәылагьы џьара-џьара иуԥылоит). Аҟәарҷ аныҳәарҭа аҭӡамцқәеи ашьаҟақәеи ирықәуп. Пицундатәи ауахәама иргылоуп инеимда - ааимданы еиқәҵоу иаалоу акьырмыт ҟьаҟьеи ахаҳәи рыла. Аҭӡамцқәа хыхьтәи рыхәҭеи, абарабани, уи иақәу аҟәарҷи ишеибгоу акьырмыт иалхуп. Ауахәама аҩнуҵҟала асахьақәа рыла иҩычан, аха XIX ашәышықәса II азбжазы ишьыхны, ашәыга шкәакәала ишәны, ажәытә сахьақәа иқәхны, аханатә сахьала ирҩычит. Нартекс алада-мраҭашәаратә кәакьаҿы адамра иҟоуп, уи аҭӡамцқәа ирну асахьақәа XVI ашәышықәса II азбжа иаҵанакәеит. 1966 шықәсазы ауахәама аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥган. Аусурақәа раан ауахәама аинтериер аҿы аарԥшын ажәытә сахьақәа рфрагментқәа, урҭ адамра аҭӡамцқәа ирну асахьақәа рхаантәи аамҭа иаҵанакәеит. Ауахәама акәша-мыкәша игылоуп еиуеиԥшым аргыламҭақәа, ауахәама хәыҷқәа, аныҳәарҭақәа, аберҭыԥ анхарҭа, анхамҩатә ргыламҭақәа. Аберҭыԥ ԥасатәи ахыбра I аихагылаҿ еиҿкаауп Пицундатәи амузеи. Пицундатәи ауахәамаҿы анцәаимаҵзура мҩаԥысуа м, уи аконцерттә зал ҳасабала рхы иадырхәоит. |
Ганҭиади иҟоу аныхабаа | Ганҭиади иҟоу аныхабаа () — Аԥсны VI ашәышықәса иаҵанакәа, х-апсидк змоу абазилика ауп, аҳабла Ганҭиади аҟны игылоуп. 2006 шықәса абҵарамза 7 рзы, Қырҭтәыла ахада идҵа ала, ианашьан амилаҭтә ҵакы змоу иеиҭамҵуа акультуратә баҟа акатегориа. Иргылоуп VI ашәышықәса I азбжазы. Аха, VIII-X ашәышықәсақәа рзы изныкымкәа аханатә ирҿыцны идыргылахьан. 1576 шықәсазы, османаа ржәылара аан, аныхабаа хәҭала ибгеит. Аԥсни, инеизакны Қырҭтәылеи ажәытәӡатә ақьырсиантә уахәамақәа иреиуп. Уажәазы абазилика ахыжәжәарақәа мацароуп иаанханы иҟоу. |
Ганҭиади иҟоу аныхабаа Аҭоурых-архитектуратә ахцәажәара | Аспециалистцәа ргәаанагарала, абазгаа ақьырсианра анрыдыркыла, византиатәи аимператор Иустиниан I-тәи абазгаа рзы Ҵандрыԥшьтәи аныхабаа ииргылеит. Абазилика ахыжәжәарақәа рҟны аарԥшуп амармалташь шкәакәа иалхны иҟаҵаз, абырзен нбанла адҩыла змаз анышәынҭратә хаҳә афрагмент. Ишубарҭоу ала, ари ахаҳә аҭыԥантәи идинтәымыз ма адоуҳатә хаҿык инышәынҭра акәын. Адҩылара ҟаҵоуп VI ашәышықәсазы. Ҵандрыԥшьтәи аныхабаа х-нышьк змоу абазилика ауп. Уи усҟак идуумыз, аформа иаша змаз аҳаштә блокқәеи акьырмыт ҟьаҟьеи рыла иргылан. |
Гьаргь ацқьа ихьӡала Аҭара иҟоу ауахәама | Гьаргь ацқьа ихьӡала Аҭара иҟоу ауахәама () — Аԥсны аҭара ақыҭан иҟоу ауахәама. Ауахәама иргылоуп XIX ашәышықәсазы. Ауахәама иамоуп акыр идуу азал аформа змоу агежьбжататә апсида. Мраҭашәарантә агәашә амоуп. Ахыбра ахыб хыбгаланы иҟоуп. |
Драндатәи ауахәама | Драндатәи ауахәама () — Аԥсны VI-VII ашәышықәсақәа ирыҵанакәа ақырҭуа архитектуратә баҟа. Игылоуп Гәылрыԥшьтәи амуниципалитет Дранда ақыҭан, Кәыдры аӡиас арӷьарахьтәи аҟәараҟны, ахәы ихықәгылоуп. Вахушьти Батонишьвили абри ауахәама иазкны иҩит: Ауахәама аџьар-ҟәырӷтә ргыламҭоуп. Иргылоуп ақьырмыт ала, ахаҳә дуқәа бжьаҵаны. Елементқәак рыла Мцхеҭа иҟоу Џьвари иеиԥшуп. Ауахәама аплан ааизакны агәҭаҟны аргьыжь зҭаҩу аџьар аԥшра амоуп. Аџьар амаӷрақәа рыхԥагьы акәакьҭаиаша аформа рымоуп. Акәакьқәа рҿы иҟоу ауадақәа агежь аформа рымоуп. Ауадақәа аладахьалагьы аҩадахьалагьы аҩналарҭақәа рымоуп. Адәахьала аџьар акәакьҭаиаша аформа амоуп, мрагыларахьала иадуп агежьбжатәи аԥсидқәа. Акупол ала ихыркәшо абарабан аркақәа рыла иеидҳәалоу ашьаҟақәа ирықәууп. Ахыб хыхьтә ахәҭаҟны иҟоуп 30 рҟынӡа макьаҭ, урҭ рхронологиатә ҳәаа IV-VII ашәышықәсақәа рыбжьара иҟоуп. Амакьаҭқәа рыҭҵаареи Мцхеҭа иҟоу Џьвари ауахәама арыцхәи иазԥхьагәаҭаны, ауахәама аргылара аамҭас иԥхьаӡоуп VI-VII ашәышықәсақәа. Иара, аргыларатә техникеи, аплани, апропорциақәеи рыла византиатәи архитектуратә баҟақәа иреиԥшуп, аха уи аргылаҩ, ақырҭуа архитектуразы иҟазшьарбагоу елементқәакгьы ихы иаирхәит, лымкаала, Мцхеҭа иҟоу Џьвари ауахәама еиԥшҵәҟьа, араагьы мрагыларахьтәи афасад аҿы иҟоу аԥсидқәа рыхԥагьы ахыргьагьақәа рыла еидҳәалоуп. Аурыс ҭҵааҩцәа агәаанагара рыман абри ауахәама, инақәыршәаны, VIII–X (Павлинов), XI (Толстои, Кондаков) ашәышықәсақәа рзы иргылан ҳәа. Ауахәама архитектура анализ азызуз Г. Чубинашвили игәы ишаанаго ала, уи Мцхеҭа иҟоу Џьвари (VI ашә.) иеиԥшуп, аха, лабҿаба иубарҭоуп уи ақырҭуеи авизантиатәи асахьаркыратә еилементқәа ахьеилоу ихьыԥшым аргыламҭа шакәу. Абри агәаанагара дақәшаҳаҭуп Л. Рчеулишвилигьы. Е. Ноибауер игәаанагарала, ауахәама IX ашәышықәса иаҵанакуеит. Аҟазараҭҵааҩы Русудан Меԥисашвили лгәаанагарала, ауахәама иргылан VIII ашәышықәса анҵәамҭазы, „аԥсуаа“ раҳра анышьақәгылоз аамҭазы. М. Хотелашвилии А. Иакобсони ргәаанагарала, ауахәама андыргылаз арыцхә ашьақәыргыларазы аҵакы ду амоуп уи аргыларатә материалқәа иреиу, V–VI ашәышықәсақәа ирыҵанакуа акерамика. Убри аҟынтә, М. Хотелашвилии А. Иакобсони ауахәама VI ашәышықәсазы иргылан ҳәа ирыԥхьаӡоит. И. Берӡенишвили игәаанагарала, ауахәама иргылан VI ашәышықәса анҵәамҭеи VII ашәышықәса алагамҭеи азы. Аҵыхәтәантәи аамҭазы ауахәама аргылара аамҭас иԥхьаӡоуп VI–VII ашәышықәсақәа. |
Драндатәи ауахәама Аҭоурых | Ауахәама аргылара иазкны ахыҵхырҭатә дыррақәа ҳамам, ҿырҳәалатәи аилыркаарақәагьы иҟам. Драндатәи ауахәама Анцәа Иан лыхьӡала иргылан. X-XVII ашәышықәсақәа рзы аепископцәа ртәарҭас иҟан. Драндатәи аепископцәа ртәарҭа ашьаҭаркра „аԥсуаа“ раҳраҿы имҩаԥысуаз ареформа иадҳәалоуп, X ашәышықәса аҩбатәи азбжазы ишьақәгылеит ҳәа иԥхьаӡатәуп. Ҳара иаадыруа раԥхьатәи Драндатәи аепископ иоуранагӡара XI ашәышықәса актәи ахԥарак иаҵанакуеит. Драндатәи аепархиа аԥшьаҩыхада Драндатәи ҳәа ахьӡ алоуп дышдыру. Вахушти Батонишвили идыррақәа рыла, Драндатәи аепископцәа ртәарҭа иаҵанакәан Кәыдры аӡиаси Анаҟәаԥиеи (аӡ. ԥсырцха) рыбжьара иҟаз аҵакырадгьыл. Ауахәама аинтериер ишьыхын, сахьала иҩычан. Асахьақәа XIII–XIV ашәышықәсақәа раан иҟаҵан. Ишубарҭоу ала, усҟан ауахәама шьаҭанкыла ирҽеин. 1630 шықәса рашәарамзазы ауахәама даҭааит италиатәи миссионер, Доминикантәи аорден абер Џьовани Џьулиано да Лука. Рашәара 29 рзы (аҿыц стиль ала ԥхынгәы 12 ), Ацқьацәа Пиотри Павли рныҳәамш инамаданы Анцәа Иан лыхьӡала Дранда иҟаз акафедралтә уахәамаҿы аныҳәатә анцәаимаҵзураҿы дыҟан. 1637 шықәса лаҵаразы Османтәи амшынтә десант Драндеи уи акәша-мыкәша иҟаз адгьылқәеи еимырҵәеит. 1639 шықәсазы Одышьтәи самҭавро иаҭааит Урыстәыла аҳ Михаил Романов (1613-1645 шш.) ицҳаражәҳәаҩцәа адикәан Ф. Елчини апап П. Захариеви. 1640 шықәса жәабран азы, дара Драндатәи ауахәама иаҭааит. Аурыс ацҳаражәҳәаҩцәа рдыррақәа рыла, Драндатәи акафедралтә ныхабаа аҿы Анцәа, Анцәа Иан, Иоан Аӡаахҩы уҳәа уб. егь. рныхачаԥақәеи, адамра иҭаз аџьари, ацқьа Барбаре иԥшьоу лыхәҭақәеи рбеит; уааҵәҟьа, иԥшьоу ахәҭақәа ирываҵан даҽа аџьаркгьы. Ацҳаражәҳәаҩцәа абарҭ иԥшьоу ахәҭақәа иаазгада, иабантәааргеи ҳәа ианҵаа, архиереи ишреиҳәаз ала, аҭырқәцәа ауахәама ианақәла, ашқәсанҵа иблит, ҿырҳәала игәалашәом. XVII ашәышықәса 60–тәи ашықәсқәа рзы иаб дицны Одишьи иаҭааз Павел Аллептәи идыррақәа рыла, Драндатәи ауахәамаҿы аныхачаԥақәа рыгәҭа ишьҭан ацқьа Барбареи егьырҭ ацқьацәеи иԥшьоу рыхәҭақәа. XVII ашә. 60-тәи ашықәсқәа рзы аԥсуаа, еиҭах Одышьтәи самҭавро иажәылеит. Усҟан Драндатәи ауахәама аҟынтә иаҳа ишәарҭам аҭыԥашҟа ииаргоит ауахәаматә шәҟәқәа, аныхачаԥақәа, аџьарқәа уҳәа, ауахәаматә инвентар. Абас ауп ԥыҭраамҭак ашьҭахь, Саба Дранадатәи иҿаҵала иҟаҵаз Иоанн Ахьҿы иныхачаԥа (XI ашә.) Драндантәи Шәантәылаҟа ишнагаз; акафедралтә ныхабааи аепархиеи иртәыз иакымкәа аџьарқәеи, ауахәаматә шәҟәқәеи, аинвентари иԥсаҟьаны иаанхеит. 1681 шықәсазы аԥсуаа Одышьтәи самҭавро аҩада - мрагыларатәи ахәҭа, аӡиас Келашәырынтә аӡиас Егрисҵҟали аҟынӡа (уажәтәи Аалӡга) рнапаҿы иааргеит, убри ашьҭахь Драндатәи аепископцәа ртәарҭа аԥыхын, избан акәзар, аԥсуаа ирымпыҵархалаз атерриториаҿы ақьырсиантә уахәамақәа аусура зрылшомызт. Убри аамҭа инаркны Драндатәи ауахәама кыраамҭа шылаԥшрада иҟан. XX ашәышықәса алагамҭазы ауахәама еиҭашьақәдыргылеит. Арҿыцратә усурақәа раан акупол ахадыргылеит аурыс баҟақәа рзы иҟазшьарбагоу амҿытә конструкциа „аџьымшьхы“, аԥенџьырқәа дырҭбааит, аҩнуҵҟагьы адәахьалагьы иршьыхит. Абаҟа аҩнуҵҟагьы адәахьалагьы ашьыхра аан иҟаҵаз адекор амшала ауахәама раԥхьатәи архитектуратә аԥшра аҽаԥсахит. Ауахәама асаркьалсырҭа аман. Мраҭашәаратә ҭӡамц аҿы иалагон Қәыдры аӡиас аҟынӡа ицоз ахыҵхырҭа (аура 260–280 м. ). XIX ашәышықәса анҵәамҭаз абри ахыҵхырҭаҿ аарԥшын амармалташьтә хаҳәҟьаԥс, уи Ҳазшаз ирелиефтә сахьа анын, агьи ахаҳәҟьаԥс аҿы аарԥшын Иасеи Анцәа Иани (афотоҭыхымҭақәа алалырҵәеит П. Уварова). 1917 шықәсазы ауахәама аҵакырадгьыл иахьаҵанакуаз иҟан ахәышәтәырҭеи, асасааирҭеи. Абрааҵәҟьа иҟан ашәырҭрақәеи аӡахәаҭрақәеи. Қырҭтәыла асовет мчра анышьақәгыла ашьҭахь, атеизм аҳра анамаз, адинхаҵара иаҿагылаз акампаниа аныӷәӷәаха, 1924 шықәсазы Драндатәи аберҭыԥ иадыркит. Аберҭыԥ ахыбраҿы абахҭа аадыртит, уи иахьагьы аус ауеит, егьа ахәҭа Гәылрыԥшьтәи араионтә администрациеи ашкол-интернати ирҭыԥхеит. 1978 шықәсазы архитектор – аиҭашьақәыргылаҩ Вахтанг Цинцаӡе инапхгарала, Драндатәи ауахәама аиҭашьақәыргылара иалагеит. Убасҟан, архитектруратә баҟа ирыцқьаны, цқьа иҭҵааны, раԥхьатәи аԥшра еиҭашьақәдыргылеит. 2002 шықәса инаркны ауахәамаҿы Анцәа имҵаныҳәара мҩаԥысуеит. Усҟан ауахәамаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥганы, абаҟа аинтериери аеқстериери рыԥсахит. Ауахәама афасад ашәыга шкәакәала иршәит, ауахәама агәараҿы акрыфарҭеи асасааирҭеи дыргылеит. 2006 шықәсазы, Қырҭтәыла ахада идҵа ала, Драндатәи ауахәама амилаҭтә ҵакы змоу иеиҭамҵуа акультуратә баҟа астатус анашьан. |
Драндатәи ауахәама ხორავა ბ. დრანდის საეპისკოპოსო, კრებ. მართლმადიდებლობა აფხაზეთში და ეროვნული თვითიდენტიფიკაციის საკითხები, თბ., 2005 | ბერძენიშვილი ი., აფხაზეთის სამეკლესიანი ბაზილიკები, კრებ. მართლმადიდებლობა აფხაზეთში და ეროვნული თვითიდენტიფიკაციის საკითხები, თბ., 2005; ბერძენიშვილი ი. ქრისტიანობის გავრცელების საკითხი აფხაზეთში არქეოლოგიური მასალების მიხედვით (IV –VIII სს.), ისტორიის მეცნიერებათა კანდიდატის სამეცნიერო ხარისხის მოსაპოვებლად *წარმოდგენილი დისერტაციის ავტორეფერატი, თბ., 2006 |
Ахалшентәи аныҳәарҭа – «Иоанн аӡӡаахҩы ихы» | Ахалшентәи аныҳәарҭа – «Иоанн аӡӡаахҩы ихы» () — Аԥсны Ахалшени ақыҭан иҟоу аныҳәарҭа. Ауахәама иргылоуп икьасоу абжьарашәышықәсақәа раан. Ахаԥы аҿы иҭыхуп Иоанн Аӡаахҩы ихы асахьа. Ишырҳәо ала, абри аҭыԥаҿоуп Иоанн Аӡаахҩы ихы ахынтәраан иахьырбаз, убри аҟынтә, адинхаҵаҩцәа зегьы абри аҭыԥҷыдала иазҿлымҳауп. |
Ауахәама «Аилага-абыҟә» | Ауахәама «Аилага-абыҟә» () — Аԥсны Бомбора ақыҭан иҟоу ауахәама. Ауахәама иргылоуп VIII-IX ашәышықәсазы. Гәдоуҭантә 10 километрак бжьоуп, амшын ахырхарҭала. Заатәи абжьарашәышықәсақәа ирыҵанакәа ақырҭуа ақьырсиантә уахәамоуп, аҭыԥантәи ауааԥсыра уи «Аилага - абыҟә» ахьӡала ауп ишырдыруа. Ауахәама залк змоу ргыламҭоуп, аҭӡымцқәа ишеибгоу, хә-кәакьктәи апсидала, еиқәханы иҟоуп. Ауахәама аҩнуҵҟа аԥхасҭа зауз ишьыху аҽыҭаҿ иубарҭоуп аҭыӡсахьа ашьҭақәа. Аладахьаала иҟоу аҩналарҭа авара аҭӡамц иануп аџьар асахьа. Аладахьала иадыргылоуп еиҵыху азал, мрагыларатә ахәҭаҿы иҟоуп агежьбжа аформа змоу аныҳәарҭа. Аилага-абыҟә ҳәа икьасаны ахьӡарҵеит. Аханатә хьӡыс иамаз идырым. |
Бедиатәи аберҭыԥ | Бедиатәи аберҭыԥ () — Аԥсны X ашәышықәса иаҵанакәа берҭыԥ. 2006 шықәса абҵарамза 7 рзы, Қырҭтәыла ахада идҵа ала, аберҭыԥ анашьан амилаҭтә ҵакы змоу иеиҭамҵуа акультуратә баҟа акатегориа. |
Бедиатәи аберҭыԥ Аҭоурых | Аҭоурыхтә дыррақәа инрықәыршәаны, Бедиатәи акомплекс иргылан X ашәышықәса анҵәамҭазы, инақәыршәаны, 999 шықәсазы. Ауахәама иргылеит еидҵоу Қырҭтәыла раԥхьатәи аҳ Баграт III Багратиони, „аепископцәа ртәарҭа“ ҳасабала, акәша-мыкәша иҟаз ақыҭақәа рацәа ауахәама иеиҭеит, ауахәама „еиуеиԥшым аҩычагақәа“ рыла иҩычеит, аҵыхәтәаны, абра анышә дамардеит. Бедиатәи аберҭыԥтә комплекст игылоуп 25 километр рыла Очамчыра иацәыхараны, Бедиа ақыҭа агәҭаны. Уи иԥ шӡаӡоу ақырҭуа архитектуратә баҟақәа иреиуп. Уажәазы акомплекс иалоуп Анцәадзыхшаз лыхьӡала иҟоу ауахәамеи, аепископцәа рпалатеи, асаркьалсырҭа хәҭаки. Аберҭыԥ тә комплекс аргыламҭа хада – агәара агәҭаны игылоу, Анцәадзыхшаз лыхьӡала иҟоу Бедиатәи ауахәама ауп, уи аҟынтә мраҭашәарахьала иаанханы иҟоуп Бедиатәи амитрополитцәа рхан, аргыламҭа ҩ-еихагылак амоуп. XIII-XIV ашәышықәсақәа рҳәааи XV-тәи ашәышықәсеи рзы ауахәама ирҿыцны еиҭашьақәдыргылеит. Асаркьалсырҭа XII-XIV ашәышықәсақәа ирыҵанакәа ргыламҭоуп, аепископцәа рпалата иргылан XV ашәышықәсазы, Бедиатәи амитрополит Антон Жуанисӡе ила. Ауахәама аинтериер аҿы иаанханы иҟоуп аҭыӡсахьақәа рҽыҭқәа хԥ а, урҭ X-XI-и, XIII-XIV-и, XVI-XVII-и ашәышықәсақәа ирыҵанакәеит. |
Бедиатәи аберҭыԥ Бедиатәи аепископцәа ртәарҭа ашәышықәсақәа рацәа рыҩнуҵҟа зҵакы дууз ауахәаматәи акультура-арккаратәи центрын. | Давид Аӷ машенебели, Қырҭтәылеи ақырҭуа уахәамеи ракзаара асимвол ҳасабала, Бедиатәи аепископ хада Свимеон Бедиа-Алавердтәи аҳаҭыртә ахьӡ ианашьаны, убри ала иаҵшьны иазгәеиҭеит ақырҭуа-мрагыларатәи ақырҭуа-мраҭашәаратәи иӷ әӷ әаӡоу аныҳәарҭақәа ракзааара. Аепископ хада Антон Жуанисӡе Бедиатәи аберҭыԥ тә комплекс аҿы аскрипториум аԥ иҵеит, уаҟа ажәытә напҩырақәа ирҿыцны еиҭашьақәдыргылон, адинҭҵааратә шәҟәқәа еиҭаргон, аскрипториум анапҩыра ҿыцқәа рыла ихадырҭәаауан. Бедиатәи аберҭыԥ аҿы анышә иамадоуп еиду Қырҭтәыла раԥ хьатәи аҳ Баграт III-тәии иара иан — аҳәынҭқарԥ ҳәыс Гурандухти. |
Бедиатәи аберҭыԥ Архитектура | Иаанханы иҟоу аџьоуҳартә фрагментқәа инрықәыршәаны, аханатә уи X-XI ашәышықәсақәа рҳәааҿы иргылан. Уажәтәи аргыламҭа XIII-XIV шәышықәсақәа ирыҵанакәеит. Ауахәама апланла еиҵыху акәакьҭаиаша ауп, 3 ҩналарҭаки иҭшәоу агантәи анышьқәеи амоуп. Аҟәырӷ 2 гәашьаки аныҳәарҭа аҭӡамцқәа ркәакьқәеи ирықәгылоуп. Мрагыларатә фасад аҿы усҟак идуум ҩ-ҵыргак иҟоуп. Афасадқәа ибзианы ицәу ахаҳәқәа рыла иҩычоуп. Аҩнуҵҟа ицәагәлабны иҟаҵоуп, аханатә аҭӡамцқәа асахьақәа рыла рҩычара иазԥ хьагәаҭазшәа. Ауахәама аҭӡамцқәа рҿы иаанханы иҟоуп аҭыӡсахьақәа рфрагментқәа. Аладатәи аҭӡамц мрагыларатә хәҭаҿы даарԥ шуп ашьаҭаркҩы - Баграт III-и (ауахәама амодель икуп) Дадианиаа рыжәла ахаҭарнакцәеи, аҭыԥ антәи афеодал иҭаацәара ракәзар ҟалап. Асахьақәа еиуеиԥ шым ахронологиатә аамҭақәа ирыҵанакәеит — XIII-XIV ашәышықәсақәеи иаҳа икьасоу аепохеи (аҭҵааҩцәақәак ргәаанагарала, XI ашәышықәса иаҵанакәа аҽыҭгьы убарҭоуп), аберҭыԥ мраҭашәаратә ганахьала ахан ду гылоуп, аҩадатәи аҩналарҭа ашә аханы иҟоуп XIV ашәышықәса иаҵанакәа асаркьалсырҭа. |
Бедиатәи аберҭыԥ Бедиатәи адҩылақәа | 1. Еилацалоу адҩылақәа: Свимеон Галатозтухуцеси изку адҩыла; Николоз акаталикоси Софрон Бедиатәи ирызку адҩыла; Константин аҳцәа раҳ изку адҩыла ; Антон Бедиатәи изку адҩыла. 2. Аҭыӡсахьақәа ирну адҩылақәа: Аҳ Баграт иҭыӡсахьа иану адҩыла афрагмент; Аамсҭа жәла ду рҭаацәара рҭыӡсахьа иану адҩыла афрагмент; Аҳәынҭқарԥ ҳәыс Марихи Гьаргь Дадиании ирызку адҩыла; Ацқьақәа рсахьақәа ирну адҩылақәа. 3. Агравиуратә адҩылақәа: Аԥ суаа раҳ Баграти аҳәынҭқарԥ ҳәыс Гурандухти ирызку адҩыла; Ацқьақәа рсахьақәа ирызку аилыркааратә адҩылақәа Бедиатәи ахьтәаҿа аҿы ; Германе Чхетиӡе изку адҩыла Бедиатәи ахьтәаҿа аҵаргәаҿы. |
Бедиатәи аберҭыԥ Бедиатәи аԥшьаҩыхадацәа рсиа | Иоанн Бедиатәи, аепископ хада — 1065 ш.; Симеон Бедиа-Алавердтәи — 1125 шықәсанӡа; Николоз Бедиатәи Гонглибаиӡе — XIII ашәышықәса II азбжа; Софрон Бедиатәи Гонглибаиӡе — XIII-XIV ашәышықәсақәа рҳәаа; Миқаел Бедиатәи Гонглибаиӡе — XIV ашәышықәса I аԥ шьбарак; Лазаре, аепископ хада — XIV ашәышықәса II азбжа; Гьаргь, аепископ хада — XIV ашәышықәса II азбжа; Мркози, аепископ хада — XIV-XV ашәышықәсақәа рҳәаа; Григол Бедиатәи — XV ашәышықәса 20-30-тәи ашықәсқәа; Мелқизедег Бедиатәи — XV ашәышықәса 30-40-тәи ашықәсқәа; Иоакиме Цаишьи-Бедиатәи — XV ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа; Антон Жуанисӡе, аепископ хадеи раԥ хьатәи амитрополити — XVI ашәышықәса 20-50-тәи ашықәсқәа; Кирил Жуанисӡе, амитрополит — XVI ашәшықәса 70-80-тәи ашықәсқәа; Евтихи Бедиатәи — 1639-1640 шықәсқәа; Никифоре Ирубақиӡе Бедиатәи — XVII ашәышықәса 40-50-тәи ашықәсқәа; Андриа Бедиатәи — 1664-1665 шықәсқәа; Габриел Чиқвани Ҷҟондидел-Цагери-Бедиатәи — XVII ашәышықәса 70-80-тәи ашықәсқәа; Германе Чхетиӡе, аепископ хадеи амитрополити — XVII ашәышықәса анҵәамҭа; Николоз Мхеиӡе, амитрополит — XVIII ашәышықәса I азбжа; Мақсиме Иашвили, амитрополит — XVIII ашәышықәса 50-60-тәи ашықәсқәа. |
Ахалшентәи абаа | Ахалшентәи абаа () — Аԥсны Ахалшени ақыҭан иҟоу абаа. Абаа иргылоуп абжьарашәышықәсақәа раан. Абаа аҭӡамцқәа рҭагылазаашьа цәгьоуп, зы ԥшра ҟамҵакәа аконсервациа рзутәуп. Абаа аҩхаа хәыҷы аҟны игылоуп, абӷьыҵлара ала ихҩоу ашьха ҳаракқәа рыгәҭа. Ашьхеибаркыра мрагылара-мраҭашәаратә хырхарҭала еиҵыхуп, абаа аплангьы |
Ҭевдоре ацқьа ихьӡала Ахалшени иҟоу ауахәама | Ҭевдоре ацқьа ихьӡала Ахалшени иҟоу ауахәама, Фиодр ацқьа ихьӡала Ахалшени иҟоу ауахәама () — Аԥсны Ахалшени ақыҭан иҟоу ауахәама. Ауахәама иргылоуп заатәи абжьарашәышықәсақәа раан. Ауахәама иргылан Фиодр ацқьа ихьӡала. Иаанханы иҟоуп 1,5 м. аура змоу аҭӡамкәа мацара. Аҩналарҭа мраҭашәарахьтәи аган аҿоуп иахьыҟоу. Азал аплан еиҵыху акәакьҭаиаша аформа амоуп, ауралатәи аҭӡамцқәа рыцыԥ хьаӡаҿы аҿаԥсак змоу абаҟәқәа иҟоуп. Аргыларатә маҭәахәы аҳасабала ахархәара рыман аҳаши аҳаштә аиларшьышьи. Ауахәамаҿы иҟоуп аквадраттә рамка иҭаргылоу Болонтәи аџьар. Аџьар аганқәа рҿы адҩылақәа игәылԥ ҟаауп. |
Ганҭиадтәи абырзентә уахәама | Ганҭиадтәи абырзентә уахәама () — Аԥсны Ганҭиади аҳаблаҿ иҟоу ауахәама. Ауахәама иргылоуп XIX ашәышақәса II азбжазы. |
Аҷандаратәи адольменқәа | Аҷандаратәи адольменқәа () — ҳ. ҟ. II азқьышықәса I азбжа иаҵанакуа, Аԥсны Аҷандара ақыҭан. 2006 шықәсазы, Қырҭтәыла ахада идҵа ала, адольмен амилаҭтә ҵакы змоу иеиҭамҵуа акультуратә баҟа астатус анашьан. Адольменқәа - Аԥсны атерриториа аҟны иаарԥшыз, ахаҳә иалхыз аҳаҭгәынқәа роуп. Аԥснытәи ажәытәӡатә дольменқәа заатәи аџьаз аамҭа иаҵанакәеит. Урҭ рыргылара иалагеит ҳ.ҟ. III азқьышықәса II аҩбатәи азбжазы. Усҟан Аԥсны идыргылоз адольменқәа усҟак идуумыз иҭшәаз аргыламҭақәан. Абжьаратә аџьаз аамҭа (ҳ.ҟ. II азқьышықәса I азбжа) иаҵанакәа адольменқәа иаҳа идууп, иаҳа еиӷьны иргылоуп. Аԥснытәи адольменқәа хагәҵәыла ишьақәыргылоу ԥшьба-ԥшьба идуу ахаҳә ҟьаԥсқәа ирылхуп, абри аҩызаҵәҟьа ахаҳәла ихыбуп (хаҳәқәак 50 тонна иакапануеит). Дольменқәак рыҩнуҵҟа ахаҳәҟьаԥс иалху адашьмагьы иҟоуп. Аԥснытәи адольменқәа атрапециа афома рымоуп. Ишаԥу ала, аԥхьатәи аҭӡамц ҭбаа аладахьала ма алада-мрагыларахьала иргылоуп, 0,4 м. адиаметр змоу акылҳара амоуп, уи ахаҳәтә рыԥҵә ала иадыркуан. Адәахьала аҭӡамцқәа иаарыкәыршаны ахаҳә дуқәа шьҭоуп. |
Гагратәи абырзентә уахәама | Гагратәи абырзентә уахәама () — Аԥсны Гагра ақалақь аҿы иҟоу ауахәама. Ауахәама иргылан XIX-XX ашәышықәсақәа раан. |
Бомборатәи ауахәама «Сераиа баба» | Бомборатәи ауахәама «Сераиа баба» () — Аԥсны Бомбора ақыҭан иҟоу ауахәама. Ауахәама иргылан абжьарашәышықәсақәа раан. Ауахәама аҭӡамцқәа рҭагылазаашьа цәгьоуп, зыԥшра ҟамҵакәа аконсервациа рзутәуп. |
Алахаӡетәи ауахәаматә комплекс | Алахаӡетәи ауахәаматә комплекс () — Аԥсны Алаҳаӡы ақыҭан иҟоу ауахәама. Ауахәама иргылоуп VI-VII ашәышықәсазы. Акомплекс ахәы иқәгылоуп. Архитектуратә комплекс иалоуп 3 нефки 3 апсидаки змоу ауахәама хәыҷи, насгьы, 3 нефки абжьыркцатә апсидеи змоу абазилика дуи. Ауахәама ду аҟынтә иаанхеит аладатәи мраҭашәаратәи аҭӡамцқәа рфрагментқәа. Ауахәама аҳаштә блокқәа рыла иргылоуп, урҭ рыбжьара акьырмыти аԥслымӡхаҳәи рҽеиҭныԥсахлоит. Аныҳәарҭа дууп, азал 3 нефк рыла ишоуп. Аҩада-мраҭашәарала, 5 метрак иацәыхараны иҟоуп ауахәама хәыҷы ахыжәжәарақәа. Уигьы аҳаштә блокқәа ирылхуп, иара убас, аргылараан ахархәара рыман ихыу аԥслымӡхаҳә иалху аҳәаҟьа дуқәеи, уааҵәҟьа иҟаҵаз ақьырмыти, ахаҳәкәымпылқәеи. Ауахәамақәа рхыбразы ахархәара аман акрамит 2 хкык - иҟьаԥсу, иара убас, иҭырҿҿоу акрамит. Ауахәамақәа IV-VI ашәышықәсақәа ирыҵаркәеит, аха, аргыларатә маҭәахәқәа ишеижәлантәугьы, асинхронизм алацәажәара уадаҩуп. Аҩыратә хыҵхырҭақәа рҿы ауахәама аӡбахәы ҳәам. |
Алеқсандровкатәи ауахәама | Алеқсандровкатәи ауахәама () — Аԥсны Алеқсандровка ақыҭан иҟоу ауахәама. Ауахәама иргылоуп XII-XIII ашәышықәсfқәа раан. Ауахәама аҭӡамцқәа рҭагылазаашьа цәгьоуп, зыԥшра ҟамҵакәа аконсервациа рзутәуп. |
Ахәҵатәи абаа | Ахәҵатәи абаа () — Аԥсны Ахәҵа ақыҭан иҟоу абаа. Абаа иргылоуп абжьарашәышықәсақәа раан. Абаа ахра иқәгылоуп, ахаҳә иалхуп. Алада-мраҭашәарантә аҩхаа шьҭоуп. Егьырҭ аганқәа зегьы аанда рыкәыршоуп. Аанда ҵаҟатәи аган аҿоуп иахьыҟоу, абаа хәыҷык ишьҭыхшәа игылоуп, убри амшала аргыламҭа 2 иаруск амазшәа убарҭоуп. Абаа мрагыларатә ахәҭаҿы ацилиндыртә форма змоу аҵыргәа хәыҷык иҟоуп, уи ахыргьагьа ала ихыбуп. Иара ԥшькәакьҭатә ашә ала абаа иадҳәалоуп. Уажәазы аргыламҭа ибгоуп. Абаа аҭӡамцқәа рҭагылазаашьа цәгьоуп, зыԥшра ҟамҵакәа аконсервациа рзутәуп. |
Аџьамԥазратәи ауахәама | Аџьамԥазратәи ауахәама () — Аԥсны Аџьамԥазра аҳаблаҿы иҟоу ауахәама. Ауахәама иргылоуп абжьарашәышықәсақәа раан. Азалтә уахәамоуп. Иргылоуп аблок аалыҵбжа ала. Ацилиндыртә форма змоу ахыргьагьа ала ихыбуп, уи х-уаргьак ирықәгылоуп. Аныҳәарҭа апсидаҿы ҩ-ҭаҩак иҟоуп. Ауахәама аҭӡамцқәа рҭагылазаашьа цәгьоуп, зыԥшра ҟамҵакәа аконсервациа рзутәуп. |
Илиа ацқьа ихьӡ зху Амзаратәи ауахәама | Илиа ацқьа ихьӡ зху Амзаратәи ауахәама () — Аԥсны Амзара ақыҭан иҟоу ауахәама. Ауахәама иргылоуп 1910 шықәсазы. Азалтә уахәамоуп, инаау агежьбжататә апсида ала. Иргылоуп ибзианы ихыу, зшәага еиԥшым ахаҳәқәа рыла. Ибаланскру аилазаашьа амоуп. Мраҭашәаратә аҭӡамц афронтон аҿы, абарелиефтә аџьар аханы иҟоуп аамҭа ахьарбоу ахаҳә — 1910. Азал ҩ-ҩналарҭак аман — мраҭашәарахьалагьы аладахьалагьы. Уажәазы мраҭашәаратәи ашә иҭырҭәааны иҟоуп. Аладатәи ашә наҟ-ааҟ, иара убас аҩадатәи аҭӡамц аҿы ҩба-ҩба ахыргьагьатә аԥенџьырқәа иҟоуп. Азал аплан еиҵыху аԥшькәакьҭа аформа амоуп. Адашьма амҿы иалхуп. Аныҳәарҭа адашьма аҿаԥсак ала ишьҭыхуп. Апсида агежьбжататә форма амоуп, уи агәҭаны иҭаԥҟаны иҟоуп ахыргьагьатәԥенџьырк. Ауахәама ахыб амҿтәы конструкциа амоуп, ахыб ахаҭа аҭанақьы иалхуп. XX ашәышықәса 70-80 ашықәсқәа рзы уаҟа ақыҭатә алагамҭатә школ еиҿкаан. |
Ажаратәи абаа | Ажаратәи абаа () — Аԥсны Ажара ақыҭан иҟоу абаа. Абаа иргылоуп абжьарашәышықәсақәа раан. Абаа аҭӡамцқәа рҭагылазаашьа цәгьоуп, зыпшра ҟамҵакәа аконсервациа рзутәуп. |
Мықәтәи аепископцәа ртәарҭа | Мықәтәи аепископцәа ртәарҭа, Мықәтәи аепархиа — Аԥсны абжьаратә шәышықәсақәа раан аепархиа. Ишьаҭаркын X ашәышықәса аҩбатәи азбжазы. |
Мықәтәи аепископцәа ртәарҭа Аҭоурых | Матиане Қарҭлиса ишану ала, «Аԥсуаа» раҳ Леон III (957-967) иргылеит Мықәтәи ауахәама, иаԥиҵеит аепископцәа рҭәарҭа, иныҳәаны, Анцәа имчала ихиркәшеит.“ Уи аԥҵан Аԥсны ( Мраҭашәаратә Қырҭтәыла) акатоликосат аепархиақәа руакы аҳасаб ала. Қырҭтәыла акзаара аепоха аан (XI-XV ашә.) Қырҭтәыла акатоликос-патриарх инапаҵаҟа иҟан, нас, XV ашәышықәса анҵәамҭаз иаку аҳра аполитикатә хыбгара ашьҭахь, Аԥснытәи ( алада-мраҭашәаратә Қырҭтәыла) акатоликос инапаҵаҟа. XVI ашәышықәсаз Одышьтәи самҭавро аԥҵара ашьҭахь, Мықәтәи аепископцәа иқәиргылон Одышьтәи ахада, ишьақәирӷ әӷ әон Аԥснытәи акатоликос. Мықәтәи аепископцәа ртәарҭа иаҵанакуан аӡиасқәа Мықәи Кәыдри рыбжьара иҟаз атерриториа. Мықәтәи аепархиа архиереи Мықәтәи ҳәа ауп дышдыру. Иахьазы идыру раԥхьаӡатәи Мықәтәи аепископ хада Григол (XII ашә.) иоуп. Уи иӡбахәы ҳәоуп иара ихаҭа иргылаз Мықәтәи ауахәама асаркьалсырҭаҿы асомҭаврули аҩырақәа рҿы, аполиграфиатә шәҟәқәа рҿы абарҭ аҩырақәа XII ашәышықәса ирыҵанакуеит ҳәа азгәаҭоуп. Анаҩсантәи еицырдыруа Мықәтәи архиереи, Мықәтәи аҩырацқьа (1300 ш.) ахҩылааразы аҿаҵа ҟазҵаз аепископ хада Даниел иоуп. Мықәтәи акафедраҿ иоуранагӡара аепохас азгәаҭоуп XIII ашәышықәса анҵәамҭеи XIV ашәышықәса алагамҭеи. Мықәтәи аҩырацқьа (1300ш.) аҿы, ахҩылааразы аҿаҵа ҟазҵази ахҩылааҩи рышьҭахь дарбоуп Мықәтәи аепископ хада Абраҳам. Иара Мықәтәи акафедраҿ аус иуан XIV ашәышықәса актәи азбжазы. Аҩырацқьа ажәытәтәи анҵамҭаҿы иӡбахәы ҳәоуп Мықәтәи аепископ хада Амбриа, аха иара аус аниуаз апериод ашьақәыргылара уадаҩуп. 1360-тәи ашықәсқәа раан Мықәтәи акафедра дахагылан аепископ хада Лука Оӡрхели. 1363 шықәсазы иара, дныҳәарц азыҳәан, адгьыл цқьа аҿы дыҟан. Иара ихьӡ ҳәоуп XII-XIII ашә. иаҵанакәа ажәытә напҩырақәеи, иара убас, Вантәи ақәабқәа ирну аныҳәаратә ақәҩырақәеи рҿы. XV ашәышықәса иаҵанакәа Мықәтәи аҩырацқьа (1300.) ихьшәо аҩырақәа рҿы иӡбахәы ҳәоуп аепископ хада Филип Чхетиӡе. Иара Мықәтәи акафедраҿ аус иуан XV ашә. абжьаратә шықәсқәа рзы. XV ашәышықәса анҵәамҭаз аус иуан Саба Мықәтәи. Иара шаҳаҭс дарбоуп XV ашәышықәса анҵәамҭазы еиқәыршәаз Маӷ нараӡеаа ршьатә шәҟәы аҟны. Анаҩстәи Мықәтәи архиереи Романоз иоуп, уи Ҭоԥуриӡеаа ршьатә шәҟәы аҿы шаҳаҭс дарбоуп. Зыӡбахәы ҳәоу ашәҟәы 1484 - 1511 шш. ирыҵаркуеит, ишубарҭоу ала, Романозгьы убри аамҭазы аус иуан. Анаҩстәи Мықәтәи архиереи, аепископ хада Елиа иоуп (XVI ашә.). Иара иӡбаҳәы ҳәоуп ихаҭа иҿеиҵаз Мықәтәи аомофораҿ иҟаҵоу ақәҩыра аҿы, уи аҟынтә ишубарҭоу ала, иара ҩ-кафедрак – Мықәтәии Драндатәии анапхгара рзиуан. XVI ашә. агәҭаны, инықәырԥшны 1543-1549 шш. рыбжьара, Имереҭтәи аҳ Баграт III (1550-1565 шш.) иаԥшьгарала имҩаԥыргеит мраҭашәаратәи Қырҭтәыла ауахәаматә еизара, уи ахдырра алаҟәреи ауахәаматә ҵасқәа реилагареи аԥыхразы иахәҭоу аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара иазкын. Ауахәаматә еизара аднакылеит ауахәаматә аӡбаратә баҟа “Акатоликосцәа рзин”. Қырҭтәыла аԥшьаҩыхадацәа инрываргыланы, ари аизара далахәын Мықәтәигьы. Аха, рыцҳарас иҟалаз, ахыҵхырҭақәа рҿы уи ихьӡ аанымхеит. Анаҩсантәи аамҭазы Мықәтәи акафедраҿы аус иуан аепископ хада Еԥвҭиме Саҟварелиӡе. Уи аҿаҵа ҟаиҵеит (1560-1578 шш.) Метафрас ахҩылааразы, иӡбахәы ҳәоуп иара иҿаҵала ичаԥоу, Мықәтәи ауахәамаҿы ишьҭоу Анцәа Иан лныхачаԥа аҩырақәа рҿгьы. Иара Мықәтәи акафедраҿ аус иуан 1560-1578 шш. рзы. ԥыҭк ихьшәаны, 1578-1616 шш. рзы Еԥҭвиме Саҟварелиӡе Аԥсны акатоликосс дҟарҵеит. 1639-1640 шш. Одышьтәи самҭавроҿы иҟан Урыстәыла аҳәынҭқар Михаил Романов (1613-1645 шш.) ацҳаражәҳәаҩцәа адикәан Ф. Елчини апап П. Захариеви. 1640 ш. жәабран 9 рзы урҭ Мықә иҟан, уа Мақсим Мықәтәи иԥылеит. Мықәтәи акафедраҿ иара иусура XVII ашәышықәса 30-40-тәи ашықәсқәа ирҭагӡоуп. Мықәтәи акафедралтә уахәама аныхақәа рыла ибеиан. Аурыс ацҳаражәҳәаҩцәа уаҟа ирбеит аныхачаԥақәа рҿы иҷыданы иҟаҵаз аҭрақәа ирҭаз Лука Махаробели (агәырӷьажәабжь аазгаз), ацқьа Николаи атәатәахутә-уаҩи, ацқьа Лазари, адикәан хада ацқьа Стеԥанеи уҳәа уб. егь. иԥшьоу рцәеижьхәҭақәеи, аџьарқәеи, егьырҭ ацқьарақәеи. 1658 шықәса ԥхынгәы азы Одышьтәи самҭавро даҭааит Иерусалимтәи апатриарх Паисиос. Одышьтәи абаӷәаза Скәырчаҿ апатриархи ицыз ахаҿқәеи ирԥылаз Мықәтәи аепископ асасцәа акафедралтә ныхабаашҟа инаиԥхьеит, анеҩс, самҭавро аполитикатә центр ахь, Жәыргьыҭҟа инаскьеигеит. Аха, рыцҳарас иҟалаз, зыӡбахәы ҳәоу Мықәтәи архиереи ихьӡ ахыҵхырҭақәа рҿы иарбам. XVII ашә. 60-тәи ашықәсқәа ралагамҭаз Мықәтәи акафедра дахагылан аепископ Андриа. Уи дигәалаиршәоит 1664-1666 шш. рзы Одышьтәи самҭавроҿы иҟаз Антиохиатәи апатриарх Макариос. Зыӡбахәы ҳәоу Андриа Мықәтәи - иара иҿаҵала ичаԥоу, мықәтәи Анәца Иан лныхачаԥа ақәҩыраҿы зыӡбахәы ҳәоу Андриа Саҟварелиӡе иоуп. Антиохиатәи Макариос Андриа Мықәтәи атәы иҭиира аус дахьалахәыз азы ауахәама далицан, аепископс даҽаӡәы дықәиргылеит, аха уи ихьӡ иарбам. Ишубарҭоу ала, уи Мықәтәи акафедраҿ аҵыхәтәантәи аепископ Иакоб Мықәтәи иоуп. XVII ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа инадыркны, Мықәтәи аепархиа аамҭа цәгьа иҭагылан. Абри аамҭа инаркны аԥсуаа еиҭах Одышь ажәылара иалагеит. Аԥсуаа ауахәамақәеи аберҭыԥқәеи иржәыланы ицәдырҳәуан. Иерусалимтәи апатриарх Досиҭеос идыррақәа инрықәыршәаны, дара акафедралтә ныхабаа, Қьачтәи ауахәама уҳәа, Мықәтәи аепархиа иқәырхит. Убри аамҭазы, Одышь аҩада-мрагыларатәи ахәҭаҿы иҟаз ауахәамақәеи аберҭыԥқәеи рҟынтә самҭавро агәҭаны иҟаз араионқәа рахь, ишәарҭам аҭыԥқәа рахь ииаргоит Мықәтәи аепархиа ацқьарақәа, аныхачаԥақәа, аџьарқәа, ауахәаматә шәҟәқәа, ауахәаматә аинвентар. ԥыҭраамҭак ашьҭахь, Мықә иҟаз Анцәа дзыхшаз лныхачаԥақәа ҩба руакы Жәыргьыҭтәи ауахәамаҿ ирбеит, егьи ҽ Хобтәи аберҭыԥ аҿы. Мықәтәи аҩырацқьа (1300 ш.) - Мартвилтәи аныхабаахь ииаган, даҽа ҩырацқьак (XII-XIII ашә.) Џьруҷтәи аберҭыԥ аҿы иаарԥшын, уажәы уи Џьруҷтәи II аҩырацқьа ахьӡ ала идыруп. 1681 шықәсазы аԥсуаа рнапаҿы иааргеит Одышь аҩада-мрагыларатәи ахәҭа, аӡиа Кьелашәыр аҟынтә аӡиас Егрисҵҟали (уажәы Аалӡга) аҟынӡа аҵакырадгьыл. Ари аҵакырадгьыл аҿы ақьырсиантә ныҳабаақәа аусура зрылшомызт, убри амшала, Мықәтәи аепархиа аԥыхын. |
Мықәтәи аепископцәа ртәарҭа Алитература | ბატონიშვილი ვახუშტი, აღწერა სამეფოსა საქართველოსა, ტექსტი დადგენილი ყველა ძირითადი ხელნაწერის მიხედვით ს. ყაუხჩიშვილის მიერ, - „ქართლის ცხოვრება“, ტ. IV, თბ., 1973; მაკარი ანტიოქიელი, ცნობები საქართველოს შესახებ, არაბულიდან თარგმნა თ. მარგველაშვილმა, - კრ. „არმაღანი“, III, თბ., 1982; ქართული სამართლის ძეგლები, ი. დოლიძის გამოც., ტ. I, თბ., 1963. Посольство дьяка Федота Ельчина и священника Павла Захарьева в Дадианскую землю (1639-1640 гг.), в кн. С. Белокуров, Материалы для русской истории, М., 1988; Путешествие патриарха Досифея с религиозным и политическим состоянием Грузии ХVII века, в кн.: М. Селезнев, Руководство к познанию Кавказа, Кн. 1, СПб., 1847. ლ. ახალაძე, აფხაზეთის ეპიგრაფიკა როგორც საისტორიო წყარო, I (ლაპიდარული და ფრესკული წარწერები), თბ., 2005; ე. თაყაიშვილი, არხეოლოგიური მოგზაურობიდან სამეგრელოში, _ კრ. „ძველი საქართველო“, ტფ., 1913-1914; ს. კაკაბაძე, სასისხლო სიგელების შესახებ, _ „საისტორიო მოამბე“, წ. II, ტფ., 1924; გ. კალანდია, ოდიშის საეპისკოპოსოები (ცაიში, ბედია, მოქვი, ხობი), თბ., 2004; ბ. ხორავა, მოქველ ეპისკოპოსთა ქრონოლოგიური რიგი, _ „საისტორიო ძიებანი“, I, თბ., 1998; ბ. ხორავა, მოქვის ომოფორის დათარიღებისათვის, _ „საისტორიო ძიებანი“, IV, თბ., 2001; ბ. ხორავა, ოდიშ-აფხაზეთის ურთიერთობა XV-XVIIIსს., თბ., 1996; თ. ჯოჯუა, მოქვის უცნობი ეპისკოპოსი ლუკა ოძრხელი (1360-იანი წწ.) და მისი ხუთი მინაწერი XII საუკუნის გარეჯული კრებულის (Vენ. 4-ის) აშიებიდან, კრ.: „ისტორიულ-ეთნოგრაფიული შტუდიები“, VI, თბ., 2003; თ. ჯოჯუა, რამდენიმე ახალი ცნობა მოქველი ეპისკოპოსის ლუკა ოძრხელის (1360-იანი წწ.) ბიოგრაფიისათვის, კრ.: ახალგაზრდა მეცნიერთა ასოციაცია. II რესპუბლიკური სამეცნიერო კონფერენციის შრომების კრებული, ქუთაისი, 2004. |
Арадутәи ауахәама | Арадутәи ауахәама () — Аԥсны Араду ақыҭан иҟоу ауахәама. Ауахәама иргылоуи икьасоу абжьарашәышықәсақәа раан. Амҿытә азалтә ргыламҭоуп. Х-ҿаԥсак змоу ацоколь иқәгылоуп. XX ашәышықәса абжьаратә ашықәсқәа рзы ауахәама еимыхны, амҿытә маҭәахәқәа ашкол аргыларазы рхы иадырхәит. |
Аӡҩыбжьатәи ауахәама Мармалабаа | Аӡҩыбжьатәи ауахәама Мармалабаа () — Аԥсны Аӡҩыбжьа ақыҭан иҟоу ауахәама. Ауахәама иргылоуп икьасоу абжьарашәышықәсақәа раан. Ауахәама аҭӡамцқәа рҭагылазаашьа цәгьоуп, зыԥшра ҟамҵакәа аконсервациа рзутәуп. |
Гьаргь ацқьа ихьӡ зху Аҷандаратәи ауахәама | Гьаргь ацқьа ихьӡ зху Аҷандаратәи ауахәама () — Аԥсны Аҷандара ақыҭан иҟоу ауахәама. Ауахәама иргылоуп XX ашәышықәса алагамҭазы. Азалтә уахәамоуп. Аладатәи аган аҟынтә ашә, мраҭашәарантә аԥенџьыр амоуп. Ишьыхуп. Ауахәама алада-мрагыларатә аган аҿы ажәытә уахәама ахыжәжәарақәа иҟоуп. 2019 шықәсаԥхынгәы азы ауахәама акультуратә ҭынха иеиҭамҵуа абаҟа астатус анашьан. Ауахәама иргылан XIX ашәышықәсазы. Азалтә ргыламҭоуп, инаау агежьбжататә апсида ала. Азал аплан иеиҵыху аԥшькәакьта аформа амоуп; уи аҩадатәи, мрҭашәаратәи, аладатәи аӡҭамцқәа рыгәҭа акака архитравтә ашәқәа иҟоуп, ауралатәи аҭӡамцқәа рҿы ашә аҩ-ганк рҿы ҩба-ҩба архитравтә аԥенџьырқәеи абаҟәқәеи иҟоуп. Абаҟәқәа азал еиҩыршоит еиҟароу х-хәҭак рыла. Аныҳәарҭеи азали еиҩшоуп аҿаԥсазаҵәытә аганқәа рыла. Апсида аҩадатәи ахәҭаҿы иҟоуп ахыргьагьатә аҵыргақәа ҩба, апсида аладатәи ахәҭаҿы аԥшькәакьтатә архитравтә аҵыргак иҟоуп. Азал аҿы аныҳәарҭа адашьма аҿаԥсак ала ишьҭыхуп. Ауахәама иргылан аҳаши аҳаштә аиларшьышьи рыла. Аконструкциатә ахәҭақәа ирылаԥсоуп ибзианы ихыу ахаҳә. Ахыб еилаҳаны иҟоуп. |
Бедиатәи аепископцәа ртәарҭа | Бедиaтәи aепископцәa ртәaрҭa, Бедиaтәи aепaрхиa – Аԥсны aбжьaрaшәышықәсaқәa рaaнтәи aепaрхиa. Иaԥҵaхеит Х aшәышықәсқәa рaлaгaмҭaз Бaгрaт III Гудaҟтәи иепaрхиa aҭыԥaн. Еидҵоу Қырҭтәылa XI-XV aшә. ахаан, Бедиaтәи aепископцәa ртәaрҭa Қырҭтәылa aхьынӡaнaӡaaӡо aкaтоликос-пaтриaрх инaпaҵaҟa иҟaн, aнaҩсaн, Қырҭтәылa хaз-хaзы ҳәынҭқaррaқәaны ианша aшьҭaхь, Аԥснытәи, мaмзaргьы мрaгылaрaтәи Қырҭтәылa aкaтоликос инапаҵаҟа. |
Бедиатәи аепископцәа ртәарҭа Аҭоурых | Одышьтәи сaмҭaвро aԥҵaрa (XVI aшәышықәсa) aшьҭaхь, aбжьaaԥнеиԥш Одышьтәи мҭaвaрцәa ракәын Бедиaтәи aепископцәеи Аԥснытәи aкaтоликоси шьaқәзырӷәӷәоз. Ихшәоу абжьаражәышықәсақәа раан, Бедиатәи аепископцәа ртәарҭа аӡиасқәа Мықәи Оқәыми рыбжьара атериториа иаҵанакуан. Аханатә Бедиатәи аепископцәа аепископ хада ититул ныҟәыргон, ХVIII ашәышықәсазы урҭ ихадоу амитрополит-епископцәас рхы рыԥхьаӡон. Ахыҵхырҭақәа рҿы раԥхьатәи Бедиатәи аепископ хадас Гьаргь ихьӡ иуԥылоит, ари атәы азгәанаҭоит Гьаргь ацқьа ихьӡала Елыр иҟоу ауаҳәамаҿ иҟаҵоу XI ашәышықәса актәи аԥшьбарак иаҵанакуа аҩыра. XI ашәышықәса аҩбатәи азбжазы анаҩстәи Бедиатәи аепископ хада, свингелоз Иоане иоуп. Уи 1065 шықәсазы Баграт IV (1027-1072) иԥҳа Марҭа лнапхгарала Византиаҟа идәықәлаз аделегациа далахәын. Иӡбахә ҳәоуп Гьаргь Хуцесмоназони иаԥҵамҭа „Гьаргь Мҭаҵминдели иԥсҭазаара“ аҿы. Давид Аӷмашенебели (Аргылаҩ) Мӷвиме иазаанижьыз иуасиаҭ аҿы Свимон Бедиа-Алавердтәии Мҵигнобарҭухуцеси Свимеони (Гулаберисӡе) рыӡбахә ҳәоуп, анаҩс иара Ҷҟондидел-Мҵигнобарҭухуцеси ититул иоуит. Аџьар цқьа ахьӡала Иерусалим иҟоу аныхабаа аӷапқәа рҿы еиқәыԥхьаӡоуп XII-XV ашәышықәсақәа раан инхоз Миқаел (Гонглисбаиӡе), Николоз (Гонглисбаиӡе), Софром (Гонглисбаиӡе). Николози Софроми Бедиатәиқәа рыӡбахә ҳәоуп XIII ашәышықәса II азбжазы иаԥҵоуп ҳәа иԥхьаӡоу Бедиатәи аныхабаа асаркьалсырҭа иану аҩыраҿ. Аепископ хада Лазаре иӡбахә ҳәоуп Синатәи ашьха аныҳәатә ақәҩыраҿы (XIV ашә.), Маркоз Бедиатәи иӡбахә ҳәоуп Аџьар цқьа аныхабаа аӷапқәа рҿы (XIV-XV ашә.), Гьыргәал Бедиатәи - Ҭопуриӡеаа рышьҭратә шәҟәы аҿы (XV ашә. I ахԥарак), Цаишьтәии Бедиатәии Иовакиме иӡбахә уԥылоит XV ашә. 70-тәи ашықәсқәа рзы (1470-1474 шықәсқәа рзы уи Мрагыларатәи Қырҭтәыла дкаталикосхоит). XIV-XV ашә. раан Бедиатәи аепископцәа ҳәа идыруп Антон Жуанисӡе, Кириле Жванисӡе, Герман Чхетисӡе, Николоз Мхеиӡе, Николоз Ирубақиӡе - Чолоҟашвили. Евтихи Бедиатәи дигәалаиршәоит 1689-1640 шш. рзы Одышьтәи самҭавро иҟаз Урыстәыла аҳәынҭқар Михаил Романов (1613-1645) ицҳаражәҳәаҩ адикәан Федот Елчин; Андриа Бедиатәи дигәалаиршәоит 1664-1666 шш. рзы Одышьтәи самтавро иҟаз Антиохиатәи апатриарх Макарос (1636-1672); документқәак рҿы иуԥылоит XVII ашә. 70-80-тәи шш. рзы Бедиатәи акафедра иахатәаз Габриел Чиқвани иӡбахә. Иҟоу адыррақәа рыла, аҵыхәтәантәи Бедиатәи аепископ иоуп амитрополит Максим (Иашвили), ихьӡ иуԥылоит 1759ш.-1761ш. рзы имҩаԥгаз ауахәаматә еизара алахәылацәа рыбжьара. Убри аамҭазы Бедиатәи аепископцәа ртәарҭа Аԥснытәи самҭавро аҳәаақәа ирҭагӡаны иҟан. Убри ашьҭахь, ахыҵхырҭақәа рҿы Бедиатәи аепископцәа ртәарҭа аӡбахә иуԥыхьашәом. Аԥсуаа рекспансиа амшала уи аԥыххеит. 1770 шықәсазы еиқәыршәаз адокумент “Мраҭашәаратәи Қырҭтәыла ауахәамауаа рсиа“ аҿы Бедиа азгәаҭоуп аепископ дахьтәам ҭәарҭаны. |
Баслатәи ацҳа | Баслатәи ацҳа, Ҭамар лыцҳа () — Аԥсны XI-XII ашәышықәсақәа ирыҵанакәа культура аматериалтә баҟа, Аҟәа, Басла аӡиас аҟны иҟоу, бжьашшарак змоу ахыргьагьатә ацҳауп. Ацҳа 35 м. ауреи 8 м. аҳаракыреи амоуп. Аҳаши ахаҳәқәеи рыла иргылоуп. Аганахьала иҟоу ахаҳәҟьаԥс иануп ақырҭуа аҩыра Асомҭаврули анбанқәа. Мраҭашәаратә аганаҿы Асомҭаврули ала адҩыла ҟаҵоуп. 2006 шықәса абҵарамза 7 рзы, Қырҭтәыла ахада идҵа ала, Баслатәи ацҳа амилаҭтә ҵакы змоу иеиҭамҵуа акультуратә баҟа акатегориа анашьан. Адҩылаҿы Қырҭтәыла аҳ Баграт III (978-1014), ма Баграт IV (1027-1072) иӡбахә ҳәоуп. ԥаса ацҳа авара игылан ашьхаруаа ржәыларақәа рҟынтә ақалақь алаларҭа зыхьчоз абааш. Аҵыхәтәантәи аамҭанӡа ацҳа аханы иаанханы иҟан ақырҭуа текст зныз амонументалтә ахаҳәтә стела. 1990-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы астела иӡит. Баслатәи ацҳа ирыцқьаны еиҭашьақәыргылатәуп. |
Бзыԥтәи абаа | Бзыԥтәи абаа () — Аԥсны абаа, Бзыԥ ақыҭан игылоуп. Ихкааны иҟоу абааш аҵакырадгьыл аҿы иаанханы иҟоуп VIII-X ашәышықәсақәа ирыҵанакәа ауахәамеи егьырҭ аргыламҭақәеи рцәынхақәа. Аанда аҟәарчқәеи, аконтрфорсқәеи, агәашәи амоуп. Абааш аџьар-ҟәырӷтә ргыламҭоуп. Аинтериер аҿы аҟәырӷ ԥшь-шьаҟак ирықәгылоуп, мрагыларахьала аԥсидқәа амоуп. Афасад адекор ала ирҩычоуп. 2006 шықәсазы, Қырҭтәыла ахада идҵа ала, Бзыԥтәи абаа амилаҭтә ҵакы змоу иеиҭамҵуа акультуратә баҟа акатегориа анашьан. |
Драндатәи аепископцәа ртәарҭа | Драндатәи аепископцәа ртәарҭа, Драндатәи аепархиа — Аԥсны абжьарашәышықәсатә аепархиа. Ишьаҭаркын X ашәышықәса аҩбатәи азбжазы Анцәа Иан лыхьӡала Дранда иҟоу ауахәамаҿы (VI-VIII ашә.). Иаԥҵан Аԥсны (мраҭашәаратәи Қырҭтәыла) акаталикосат иаҵанакәаз епархиак аҳасаб ала. Қырҭтәыла акзаара аепоха аан (XI-XV ашә.) Қырҭтәыла акаталикос-патриарх инапаҵаҟа иҟан, XV ашәышықәса анҵәамҭазы иаку аҳра аполитикатә аилаҳара ашьҭахь, Аԥсны (мраҭашәаратәи Қырҭтәыла) акаталикос инапаҵаҟа иҟан. |
Драндатәи аепископцәа ртәарҭа Аҭоурых | XVI ашәышықәсазы Одышьтәи аҭауадра анышьақәгыла ашьҭахь, Одышь ахада дықәиргылон Драндатәи аепископ, дшьақәирӷәӷәон Аԥсны акаталикос. Драндатәи аепископцәа ртәарҭа иаҵанакәан Кәыдры аӡиаси Анаҟәаԥиеи (Афон Ҿыц) рыбжьара иҟаз аҵакырадгьыл. Драндатәи аепархиа аԥшьаҩыхада Драндатәи ҳәа ахьӡ алоуп дышдыру. Иахьазы еицырдыруа аԥшьаҩыхадацәа дреиуп Раԥхьатәи Драндатәи Саба (XI ашәышықәса алагамҭа). Уи иӡбахәы ҳәоуп иара ихаҭа иҿеиҵаз Иоанн Агәырӷьаҿҳәашаҳәаҩы исахьаԥшьа иану адҩылаҿы. Иара инеҩс дыҟан Драндатәи Арсени (XI ашәышықәса агәҭа). Иара Гьаргь Мҭаҵминдатәи Ҭуен (XI-XII ашә.) цәыббратәи иматериалқәа реизгара далахәын; XI-XIII ашәышықәсақәа ирыҵанакуеит Иерусалим иҟоу Џьвари аберҭыԥ асахьақәа анызҵаз Григол Драндатәи иоуранагӡара. Иара иӡбахә ҳәоуп Џвари аберҭыԥ аӷапқәеи аберҭыԥ афрескеи рҿы. Синатәи ашьха аԥсқәа ршықәсҩыраҿ дануп XVI ашәышықәса аҩбатәи азбжазы инхоз Николоз Драндатәи. Ҭоԥуриӡеаа рышьҭратә шәҟәы аҿы (1484-1510 шш.) иӡбахә ҳәоуп XIV-XV ашә. раан инхоз Ҭевдоре Драндатәи; Мықәтәи акафедра иахагылаз аепископ хада Елиа ихьӡ уԥылоит XVI ашә. актәи ахԥарак инаркны. Ихьӡ уԥылоит иара иҿаҵала иӡахыз Мықәтәи аомофораҿ иҟаҵоу ақәҩыра аҿы. Ишдыру ала, XVI ашә. 40-тәи ашықәсқәа рзы аус иуан амитрополит Филипе Драндатәи. Уи Имереҭи аҳ Баграт III (1510-1565 шш.) иԥшьгарала 1543-1549 шш. рзы имҩаԥгаз мраҭашәаратәи Қырҭтәыла ауахәаматә еизара далахәын, абри еизараҿ ацәаҩашәатәи ауахәаматә нормақәа рықәныҟәаразы аус адырулеит “Акаталикосцәа рзин”. XVI ашә. анҵәамҭеи XVII ашә. алагамҭеи рзы аԥсуаа Анаҟәаԥиа аҟынтә Кьалашәырынӡа Одышьтәи самҭавро иатәыз аҵакырадгьыл рпанаҿы иааргеит. Убри амшала, Драндатәи аепископцәа ртәарҭа атерриториа маҷхеит. 1630 шықәса рашәара мзазы аӡиас Кәыдры алаларҭа ааигәара, Одышьтәи абаӷәаза Скәырча иҭалаз аӷба дҭатәан италиатәи амиссионер, доминикатәи абер Џьовани Џьулиано да Лука. Драндатәи адоуҳаныҟәгаҩ иара диԥыланы, аепархиахь днаиԥхьеит. Доминикатәи абер Анцәа Иани Ацқьа Андриеи рыхьӡала Дранда иҟаз ауахәамақәа дырҭааит. Амиссионер хымзи бжаки Одышь дыҟан, ари аамҭа иалагӡаны, Драндатәи адоуҳаныҟәгаҩ иоуп аԥшәмара изызуаз. Анаҩс, аԥшәма асас Қобулеҭинӡа днаскьеигеит. Италиатәи амиссионер Драндатәи адоуҳаныҟәгаҩ ибзианы дихцәажәеит, уи иҩымҭаҿ ишазгәеиҭаз ала, Драндатәи адоуҳаныҟәгаҩ анцәаимаҵзуҩы ицәҩыча ныҟәызго ауаҩы хазына иоуп, аха, ихьӡ џьаргьы иҳәом. Ари ауаҩы Драндатәи аԥшьаҩыхада Евдмон Џьаиани иакәзар ҟалап. Уи Драндатәи акафедра анапхгара азиуан XVII ашә. актәи ахԥарак азы. 1637 шықәса лаҵаразы Османтәи амшынтә десант Драндеи уи акәша-мыкәша иҟаз адгьылқәеи еимырҵәеит. Убри анеҩс, хара имгакәа, 1639 шықәсазы Одышьтәи самҭавро иаҭааит Урыстәыла аҳ Михаил Романов (1613-1645 шш.) ицҳаражәҳәаҩцәа адикәан Ф. Елчини апап П. Захариеви. 1640 шықәса жәабран азы, дара Дранда ианыҟаз, Драндатәи архиереи иԥылеит, аха ихьӡ џьаргьы иазгәарҭом. Аурыс ацҳаражәҳәаҩцәа рдыррақәа рыла, Драндатәи акафедралтә ныхабаа аҿы Анцәа, Анцәа Иан, Иоан Аӡаахҩы уҳәа уб. егь. рныхачаԥақәеи, адамра иҭаз аџьари, ацқьа Барбаре иԥшьоу лыхәҭақәеи рбеит; уааҵәҟьа, иԥшьоу ахәҭақәа ирываҵан даҽа аџьаркгьы. Ацҳаражәҳәаҩцәа абарҭ иԥшьоу ахәҭақәа иаазгада, иабантәааргеи ҳәа ианҵаа, архиереи ишреиҳәаз ала, аҭырқәцәа аныхабаа ианақәла, ашқәсанҵа иблит, ҿырҳәала игәалашәом. XVII ашә. 60-тәи ашықәсқәа рзы аԥсуаа, еиҭах Одышьтәи самҭавро иажәылеит, усҟан Одышь аҩада - мраҭашәаратәи ахәҭаҿы иҟаз ауахәамақәеи аберҭыԥқәеи рҟынтә, Драндатәи аепархиагьы уахь иналаҵаны, атәыла аҩнуҵҟатәи араионқәа рахь, иаҳа ишәарҭам аҭыԥашҟа ииаргоит ауахәаматә шәҟәқәа, аныхачаԥақәа, аџьарқәа уҳәа, ауахәаматә инвентар. Абас ауп ԥыҭраамҭак ашьҭахь, Иоанн Ахьҿы иныхачаԥа (XI ашә.) Драндантәи Шәантәылаҟа ишнагаз; акафедралтә ныхабааи аепархиеи иртәыз иакымкәа аџьарқәеи, ауахәаматә шәҟәқәеи, аинвентари иԥсаҟьаны иаанхеит. XVII аш. 60-тәи ашықәсқәа раан Дранда архиеиреи дыҟамызт. 1664-1666 шш. рзы Одышь иҟаз Антиохиатәи апатриарх Макарос идыррақәа рыла, уи аԥсуаа рнаҭара аус Мықәтәи аепископ инапы ианиҵеит, аха Драндатәи акафедра макьана иаԥыхымызт. 1681 шықәсазы аԥсуаа Одышьтәи самҭавро аҩада - мрагыларатәи ахәҭа, аӡиас Келашәырынтә аӡиас Егрисҵҟали аҟынӡа (уажәтәи Аалӡга) рнапаҿы иааргеит, убри ашьҭахь Драндатәи аепископцәа ртәарҭа аԥыхын, избан акәзар, аԥсуаа ирымпыҵархалаз атерриториаҿы ақьырсиантә уахәамақәа аусура зрылшомызт. |
Драндатәи аепископцәа ртәарҭа Алитература | ბატონიშვილი ვახუშტი, აღწერა სამეფოსა საქართველოსა, ტექსტი დადგენილი ყველა ძირითადი ხელნაწერის მიხედვით ს. ყაუხჩიშვილის მიერ, - „ქართლის ცხოვრება“, ტ. IV, თბ., 1973; დომინიკანელი მისიონერი ჯოვანი ჯულიანო და ლუკას ცნობები აფხაზეთსა და სამეგრელოზე, წგნ.: ი. ტაბაღუა, საქართველო ევროპის არქივებსა და წიგნსაცავებში, III, თბ., 1987; მაკარი ანტიოქიელი, ცნობები საქართველოს შესახებ, არაბულიდან თარგმნა თ. მარგველაშვილმა, კრ. „არმაღანი“, III, თბ., 1982; Посольство дьяка Федота Ельчина и священника Павла Захарьева в Дадианскую землю (1639-1640 гг.), в кн. С. Белокуров, Материалы для русской истории, М., 1988; ე. თაყაიშვილი, არქეოლოგიური ექსპედიცია ლეჩხუმ-სვანეთში 1910 წელს. კრ. „დაბრუნება“. ქართული ემიგრანტული ლიტერატურა, ტ. II, თბ., 1983; ს. კაკაბაძე, სასისხლო სიგელების შესახებ, „საისტორიო მოამბე“, წ. II, ტფ., 1924; ბ. კუდავა, დასავლეთ საქართველოს ეკლესია (IX-XIსს.), ნაშრომი ისტ. მეცნ. კანდიდატის სამეცნ. ხარისხის მოსაპოვებლად, თბ., 2002; ე. მეტრეველი, მასალები იერუსალიმის ქართული კოლონიის ისტორიისათვის (XI-XVIIსს.), თბ., 1962; ბ. ხორავა, დრანდის საეპისკოპოსო, კრ. მართლმადიდებლობა აფხაზეთში და ეროვნული თვითიდენტიფიკაციის საკითხები, თბ., 2005; ბ. ხორავა, დრანდის საეპისკოპოსო, ენციკლოპედია საქართველო, ტ. 2, თბ., 2012, გვ. 493; |
Афон Ҿыцтәи абаа | Афон Ҿыцтәи абаа () — Аԥсны Афон Ҿыц ақалақь аҿы иҟоу абаа. Абаа иргылоуп абжьарашәышықәсақәа раан. Абаа аҭӡамцқәа рҭагылазаашьа цәгьоуп, зыԥшра ҟамҵакәа аконсервациа рзутәуп. |
Арабтәи ааԥынра | Арабтәи ааԥынра — адемонстрациақәеи, апротестқәеи, ақәгыларақәеи рреволиуциатә цәқәырԥа. Ас еиԥш ақәгыларақәа арабтәи адунеи аҟны ирылагеит жьырныҳәамза 14, 2011 шықәса рзы. |
Арабтәи ааԥынра Аилкаара аҭоурыхи амзызқәеи | Ааигәа Мрагылареи Ҩадатәи Африкеи иахьрыҵанакуаз ақәгыларақәеи адемонстрациақәеи, уи иалахәыз зегьы арабцәаны рхы шырмыԥхьаӡозгьы, «арабтәи ааԥынра» (, ), иара убасгьы «арабтәи ааԥынреи аӡынреи», «арабтәи ааԥшра» (), «панарабтәи ареволиуциа», мамзаргьы «арабтәи ақәгыларақәа» ҳәа рзырҳәон. Хронологиала уахәаԥшуазар, арҭ аҿагыларақәеи ақәгыларақәеи ирылагеит Мраҭашәаратәи Сахара жьҭаарамза 2010 шықәса рзы, аха фактлаҵәҟьа иуҳәозар, уи алагеит Тунис ԥхынҷкәынмза 18, 2010 шықәса рзы Мохаммед Буазизи иҽыбылра ашьҭахь, анаҩс егьырҭ атәылақәа рахь ииасит. Зегь реиҳа амассатә ҟазшьа змаз, аиҿкаара бзиа змаз адемонстрациақәа анымҩаԥысуаз «день гнева» азы акәын, ахәаша ашьыбжьыжьҭахьтәи аматанеира ашьҭахь. Ақәгыларақәа рымҩаԥысра иалагеит егьырҭ арегионқәа рҟынгьы. Ақәгыларақәа ианрылага инаркны 2012 шықәса лаҵарамза азынӡа имҩаԥысыз ареволиуциақәа раан ԥшь-ҳәынҭқаррак рхадацәа ахҳәан. Арегионалтә қәгыларақәа раан аӡәырҩы аԥхьагылаҩцәа рхала рҭыԥ ааныжьразы аҳәамҭақәа ҟарҵеит, рнапхгараҭара аҿҳәарақәа шнымҵәацызгьы. Анеополитикатә лҵшәақәа рпротестқәа аӡәырҩы азхьанарԥшит, убас еиԥш агәаанагарақәагьы цәырҵит, ақәгыларақәа ирылахәыз аӡәырҩы Адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа аиуразы ркандидатурақәа ықәыргылахар алшоит ҳәа. Ус иагьыҟалеит – Тавакуль Карман Иеменынтәи, 2011 шықәса рзы иаарылукааша Арабтәи ааԥынра аԥхьагылаҩ ҳәа иалкааз хҩык дыруаӡәкхеит, уи иагьланашьан Адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа. |
Арабтәи ааԥынра Тунис | Тунистәи агәҭынчымрақәа ирылҵшәахеит ареволиуциа, жьырныҳәамза 14, 2011 шықәса рзы ари атәыла апрезидент Зин ель-Абидин Бен Али атәыла аҟынтә дыбналаны Саудтәи Аравиаҟа дыбналаны данца. |
Арабтәи ааԥынра Алжир | Жәабранмза 3, 2011 шықәса рзы Алжир апрезидент Абдель Азиз Бутефлика адырра ҟаиҵеит иаарласны атәылаҟны аполитикатә реформақәа ишрылаго азы – аҭагылазаашьа ҷыда аԥыхра (уи шьақәыргылан 1992 ш. раахыс), апартиақәа арадио ахь рынашьҭра, аҭынч демонстрациақәа рымҩаԥгара азин аҟаҵара (Алжир ада). |
Арабтәи ааԥынра Иорданиа | Жәабранмза 1, 2011 шықәса рзы Иорданиа акрал Абдалла II, аоппозициа адҵала Самир аль-Рифаи аиҳабыра ԥхьатәара ишьҭит. 2005 шықәса рзы иара 0,5 миллиард доллар азоуижьит аҳәынҭқарратә усзуҩцәа руалафахәы ашәаразы, насгьы абылтәи, зда ԥсыхәа ыҟам амаҭәарқәеи рыхәқәа рҭышәныртәаларазы. Арҭқәа рыла иара ақәгыларақәа еиқәиртәарц хықәкыс иман. Убри анаҩсангьы, 2011 шықәса рзы Иорданиа Саудтәи Аравиа аҟынтәи 1,6 миллиард доллар рыхә ацхыраара ҟанаҵеит. |
Арабтәи ааԥынра Иемен | Иемен апарламент аҟны дықәгыло, апрезидент Али Абдалла Салех аҳәамҭа ҟаиҵеит иара амчра инапаҿы иҟоу шаанижьуа, аха аҭыԥ иԥа шьҭрала ишизинижьуа, алхра ҿыцқәа 2013 шықәса рзы имҩаԥысаанӡа. Аха, аамҭак анаҩс, амассатә қәгыларақәа ирыхҟьаны Салех ажәалагала ҟаиҵеит, 2011 шықәса нҵәаанӡа алхрақәа мҩаԥыргарц, насгьы иара ԥхьатәара дышцо иҳәеит. Иазгәаҭатәуп аамҭаказы Иемен Салех идгылаҩцәагьы ақәгыларақәа шымҩаԥыргоз. Абҵарамза 23, 2011 шықәса рзы Салех аиҳабыра атәыла Ахада ихаҭыԥуаҩ инапы ианҵаны ԥхьатәара дцеит. |
Арабтәи ааԥынра Мысра (Египет) | Ара ауаа аԥсҭазаара уадаҩ иаҿагыланы, атәыла Ахада ԥхьатәара дцаразы иқәгылон. Жьырныҳәамза 29, 2011 шықәса рзы атәыла ахада Хосни Мубарак аиҳабыра зегьы еимирпит. Жәабранмза аказы Мысра Ахада ижәлар рахь ааԥхьара ҟаҵо, иҳәеит анаҩстәи алхрақәа, ҭагалан, 2011 шықәса рзы имҩаԥысраны иҟаз, дышрылахәымхо атәы. Мысра Ахада, иара убасгьы Аконституциа 76-тәии 77-тәии ахәҭаҷқәа рыԥсахра дадгыланы дцәажәеит, уа аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рымҩаԥысшьа азгәаҭан. Жәабранмза 10 рзы, Мубарак имчра абжакы ихаҭыԥуаҩ Омар Сулеиман инапы ианиҵеит, иаргьы ԥхьатәара дцеит, анаҩс иара аҩнытә рбаандаҩра иқәырҵоит. 2012 шықәса рзы, мысратәи ауаажәларра амчра знапахьы иназгаз Мухаммед Мурси иҿагылан ақәгыларақәа еиҿыркаауа иалагеит. 2013 шықәса, рашәарамза 3 рзы, Мухаммед Мурси изырхаз, Мысра аҭыԥ змаз ақәгыларақәа рнаҩс, Мысра атәылахьчара аминистр Абдул Фаттах Ас-Сиси апрезидент дахҳәоуп ҳәа рылеиҳәеит, насгьы Аконституциа аусура шаанкылоу атәы ажәлар иреиҳәеит. Жьырныҳәамза 2014 шықәса рзы, Мысра, 2011 шықәсазтәи ареволиуциа амш азгәаҭара аан, аполициеи адемонстрациа иалахәызи реидыслара иахҟьаны 49- ҩык ауаа ҭахеит. |
Арабтәи ааԥынра Мавританиа | Жьырныҳәамза 17, 2011 шықәса рзы Мавританиа аҳҭнықалақь Нуакшот аҟны. 43-шықәса зхыҵуа Иакуб ульд Дахуд Мавританиа Асенат аԥхьа ашьжьымҭан имашьына ааникылан, ирласны амца зыцрало аӡшьар иқәҭәаны амашьына аҩныҵҟа амца ицраиҵеит. Уи ас еиԥш иҿагылара ззырхаз аинрал Мохаммед Ульд Абдель-Азиз ирежим акәын. Ари ауаҩ иикыз амца иаарласны ирцәан, аха ус еиԥш ҟалаанӡа Дахуд аҭел дасны ажурналистцәа иреиҳәеит ихы зыхирҟьоз, – «сара атәыла аҟны иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьа сгәаԥхом, арежим саҿагылоит» ҳәа. Мохаммед ульд Абдель Азиз амчрахь днеит 2008 шықәса рзы, арратә аарҳәра иабзоураны, анаҩс иара Исламтәи Ареспублика апрезидентс далхын 2009 шықәса рзы. |
Арабтәи ааԥынра Марокко | Марокко акәзар, асоциалтә ҳа Феисбук ала ааԥхьара ҟаҵан ақәгыларақәа рылагаразы. Анаҩс, жәабранмза 20, 2011 шықәса инаркны Марокко ақалақьқәа рҟны аҭынч демонстрациақәа ирылагеит, урҭ ззырхаз аҳ имчра аԥкреи, асоциалтә проблемақәа рыӡбареи роуп. |
Арабтәи ааԥынра Мраҭашәаратәи Сахара | Жәабранмза 26 рзы ақалақь Дахла апротесттә акциа мҩаԥысит. Уи аан ҩыџьа ауаа ҭахеит,шәҩык ахәрақәа роуит. Хәажәкырамза 5 рзы, ахҵәацәа рлагер аҟны 200-ҩык инарзынаԥшуа аҭынч акциа рхы аладырхәт, дара афронт Полисарио анапхгара рахь ааԥхьара ҟарҵеит адемократиатәи асоциалтәи реформақәа ирылагаразы. |
Арабтәи ааԥынра Ливан | Жәабранмза 27 рзы, Ливан аҳҭнықалақь Беирут аҟны ауаарацәа злахәыз адемонстрациа мҩаԥысит аконфессионализмтә система аԥыхразы. Уи иаанагоз ауаажәларра рдинхаҵаратә цуҭақәа инарықәыршәаны аҳәынҭқарратә мчра аиҿкаара акәын. Хәажәкырамза 13 рзы жәанызқьҩыла ауаа алахәын Беируттәи Ашьаҳиҭцәа Рдәаҿы имҩаԥысыз амитинг, уи аиҿкаара «акедртә револиуциа» ҳәа ззырҳәо мҩаԥысижьҭеи фышықәса аҵра акәын изызкыз, ари ақәгылара иалҵшәаны сириатәи амчрақәа Ливан аанрыжьит. Амонифестантцәа дҵаны иқәдыргылон арадикалтә шииттә гәыԥ «Хезболла» абџьар шьҭаҵаны ливантәи архәҭақәа ирылаҵазарц. |
Арабтәи ааԥынра Оман | Оман 200-ҩык инарзынаԥшуа аҿыгылаҩцәа рықәгылара ауалафахәы ашьҭыхра иазырхан, ас еиԥш ақәгылара мҩаԥысит жьырныҳәамза 17, 2011 шықәса рзы. Анаҩс, жәабранмза 19 рзы аԥсҭазаараҿы аиҭакрақәа ирзырхаз аҭынч қәгылара мҩаԥган. Жәабранмза 26 рзы – ақәгыларақәа ирылҵшәаны асулҭан Кабус бен Саид аиҳабыра рҟны аиҭакрақәа мҩаԥигеит, фҩык русура иамихит. Адырҩаҽны имҩаԥгаз амитинг аҟны ҩыџьа адемонстрантцәа ршьит ақалақь Сухар аҟны. Ас еиԥш ақәгыларақәа хәажәкырамза 13-нӡа имҩаԥысуан, Кабус Бен Саид азакәанԥҵара зыԥсахуа аусԥҟа инапы аҵеиҩит. |
Арабтәи ааԥынра Саудтәи Аравиа | Жьырныҳәамза 21, идырым, 65 шықәса зхыҵуа ахаҵа ихала иҽахьиблыз иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит. Жьырныҳәамза 29 рзы, шәҩыла адемонстрантцәа Џьидда еизеит, урҭ ықәгылон ақалақьтә инфраструктура апроблемақәа ирҿагыланы, арҭ апроблемақәа зыхҟьаз жәеизаҩык ауаа рыԥсҭазаара ҿахызҵәаз аӡхыҵрақәа роуп. Аполициа адемонстрациа ааныркылеит жәохә минуҭ рыла. Ҩынҩажәижәаҩык рҟынӡа ауаа ырбаандаҩын. Жәабранмза 23 рзы, зтәылахь игьежьыз, хымызтәи аҳәаанырцә иҽахәышәтәра ашьҭахь, Саудтәи Аравиа аҳ Абдалла ибн Абдул-Азиз аҳәамҭа ҟаиҵеит, иааизакны 35 миллиард доллар рыхә афинанстә льготақәа рпакет аларҵәаразы. Ари афинанстә льготақәа рахь иаҵанакит аҳәынҭқарратә усзуҩцәа руалафахәы 15 процент ашьҭыхра, аус зымуа аҿар адгылара рыҭара, насгьы Саудтәи Аравиа атәылауаа аҳәаанырцә аҵара зҵо ацхыраара рыҭара, убасгьы аҭаацәарақәа анхарҭа аҭыԥ аԥшаара аус аҟны ацхыраара рыҭара. Аполитикатә реформақәа ракәзар, зынӡагьы рыӡбахә ҳәамызт, амонарх иҭакыз аӡәырҩы рхы ишақәиҭитәызгьы, урҭ афинансттә цәгьоурақәа рзы ахара рыдҵан. Хәажәкырамза 10 рзы ақалақь Ель-Катиф, апровинциа Еш-Шаркииа ашиитцәа рдемонстрациа мҩаԥысит, уи иалахәын 200-ҩык ауаа. Ажәлар реимырпра азы азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа абжьыцәгьа змаз артҟәацгақәа рхы иадырхәеит. Уи аан ԥшьҩык ахәрақәа роуит. |
Арабтәи ааԥынра Судан | Жьырныҳәамза 30 рзы, Хартум, ҩ-университетк рыстудентцәа 15-нызқьҩык инарзынаԥшуа, аиҳабыра ԥхьатәара рцара дҵаны иқәдыргылеит. Аполициа ауниверситетқәа ирыкәшеит, гәыԥҩык астудентцәа пҟаны идырбаандаҩит. Жәаҩык инареиҳаны, астудентцәа рықәгыларақәа ртәы зҳәоз арепортажқәа ҟазҵоз ажурналистцәа дырбаандаҩит. Ақәгылара ахаҭа ахәқәа рышьҭыхра ауп изыхҟьаз. Ари ахҭыс ҟалаанӡа ҩымчыбжьа раԥхьа, жьҭаарамза 17, 2011 шықәса рзы Судан амчрақәа ддырбаандаҩхьан апрезидент Омар аль-Башир ицнагаҩ, анаҩс аоппозициахь ииасыз Хасан ат-Тураби. |
Арабтәи ааԥынра Џьибути | Жьырныҳәамза 31 рзы, 300-ҩык ауаа апрезидент Исмаил Омар Гелл иҿагыланы ақәгылара мҩаԥыргеит, аҳҭнықалақь Џьибути аҟны. Жәабранмза 18 рзы, Џьибути даҽа қәгыларак мҩаԥысит уи ԥхьатәара ишьҭра иазырхаз. |
Арабтәи ааԥынра Сомали | Жәабранмза 13 рзы, шәҩыла аҿар рхы аладырхәт аҳҭнықалақь Могадишо имҩаԥгаз адемонстрациа, уи ззырхаз аиасратә федералтә еиҳабыра роуп, апрезидент Шеих Шариф Ахмеди исламтәи аҿагыларатә гәыԥ «Харакат аш-Шабаб» Шеихан Ибрагим аль-Афгани напхгара зиҭози ирҿагыланы, урҭ ракәын атәыла аиҳарак хылаԥшра азҭоз. Адемонстрациа иалахәыз аҳәамҭа ҟарҵеит акциа амҩаԥгара шаанырымкыло, Мысреи Туниси рҟны еиԥш аиҳабыра ахырҳәаанӡа. Жәабранмза 15 рзы, аиасратә федералтә еиҳабыра рыдгылаҩцәа адемонстрантцәа ирылахысит, уи аан ԥшьҩык ҭахеит, 11-ҩык ахәрақәа роуит. |
Арабтәи ааԥынра Шьамтәыла (Сириа) | Жәабранмза 4, 2011 шықәса рзы Шьамтәыла, гәыԥҩык активистцәа асоциалтә ҳа Феисбук аҟны ирыӡбеит акциа, мысратәи акциа еиԥшыз «Агәеибакра амш» амҩаԥгара. Мшаԥымза 20 рзы – Башар Асад официалла аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы арежим аԥихит, уи 48 шықәса амчра аман. Аоппозициаа ргәаанагара ала, ас еиԥш ақәҵара адкылара изыгхаз акакәны иҟан. Мшаԥымза 22 рзы, аҳәынҭқарра иаҿагыланы имҩаԥысуаз адемонстрациақәа раан иҭахеит 72- ҩык ауаа. 2011 шықәса, хәажәкырамза аахыс Шьамтәыла ицоит хыркәшашьа змам аибашьра. |
Арабтәи ааԥынра Бахреин | Аиҭакрақәа рымҩаԥгаразы Бахреин адемонстрациақәа ирылагеит жәабранмза 14, 2011 шықәса рзы. Адемонстрантцәа иааныркылеит Манама агәҭаны иҟаз Абырлаштә дәы ҳәа изышьҭаз аҭыԥ. Ари аҽны дшьын аҿагылаҩ, уи иԥсыжра аҽны дыршьит даҽаӡәгьы. Жәабранмза 16 рзы, зықьҩыла бахреинаа даҽазныкгьы Абырлаш дәы аҟны еизеит, уи Тахрир (Ахақәиҭра) ҳәа ахьӡ аԥсахразы. Жәабранмза 17 рзы, аполициа ари адәы хьчо иҭадырхеит даҽа фҩык ауаа. Жәабранмза 18 рзы, адемонстрантцәа даҽа зныкгьы рҽазыршәоит Тахрир адәахьы анеира, аха аполициаа реихсуеит, ахәрақәагьы роуеит 60-ҩык инарзынаԥшуа ауаа. Бахреин аҳ апринц инапы ианиҵоит аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара, аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы, аха аоппозициа уи мап ицәыркуеит. Амчрақәа Абырлаштә дәы аруаа иаанрыжьырц адҵа аныҟарҵа анаҩс, уахь адемонстрантцәа неиуеит. Хәажәкырамза 14 рзы, Бахреин аиҳабыра ССАГПЗ аҳәынҭқаррақәа ринтервенциа иалагеит: аҳ Фахда ицҳа ала Бахреин иалалеит 1000-ҩык саудовтәи асолдаҭцәа, 500-ҩык аполициа аусзуҩцәа ОАЕ аҟнытә. Хәажәкырамза 15 рзы Бахреин аҭагылазаашьа ҷыда алагалан. Иара убри аҽны дшьын саудтәи асолдаҭ. Адемонстрантцәа амчрақәеи дареи реидыслара аҟны хҩык ҭахеит, 200-ҩык ахәрақәа роуит. Хәажәкырамза 16 рзы архәҭақәа Манама адәы хада аҟынӡа инеиуеит адемонстрантцәа еимырпуа. Иҭахеит хәҩык ауаа, шәҩык рҟынӡа ахәрақәа роуит. Хәажәкырамза 17 рзы ирбаандаҩын аоппозициа анапхгаҩцәа фҩык. Арҭ ақәгыларақәа ирылҵшәаны ааҩык аоппозициатә активистцәа аҳәынҭқарратә аарҳәра ахьеиҿыркааз азы рыԥсы ҭанаҵы аҭакра рықәырҵеит, даҽа жәахаҩык иара убри азы ҩышықәса инаркны жәохә шықәса рҟынӡа рықәырҵеит. |
Арабтәи ааԥынра Кувеит | Кувеит ақәгыларақәа ирылагеит жәабранмза 18, 2011 шықәса рзы. Атәыла ақалақьқәак рҟны имҩаԥысит адемонстрациақәа, атәылауаҩра змамыз ахыбраҿы арабцәа злахәыз, дара зинда ишьақәгылаз рыԥсҭазаара азиншьаҭа аҭара иазықәԥон. |
Арабтәи ааԥынра Буркина-Фасо | Ара ақәгыларақәа ирылагеит жәабранмза 22 рзы, аполициатә участок аҟны астудент даныршь ашьҭахь. Анаҩс аграждантә акциақәа ирхылҿиааит арратә қәгыларақәа, урҭ рыхәаҽра ашьакаҭәарақәа рыцын. |
Арабтәи ааԥынра Ирак | Ирак ақалақьқәа рҟны акәзар, ақәгыларақәа ирылагеит жәабранмза 25, 2011 шықәса рзы, Нури аль-Малик иеиҳабыра ирҿагыланы, арҭ ақәгыларақәа раан иҭахеит 23-ҩык, шәҩыла ахәрақәа роуит. |
Арабтәи ааԥынра Ливиа | Жәабранмза 15, 2011 шықәса рзы ливиатәи ақалақь Бенгази аҟны аполициеи, аиҳабыра рыдгылаҩцәеи, апротестантцәеи еидыслеит. Уи зыхҟьаз азинхьчаҩы иҭакра ауп, аха убри аан Ливиатәи ареволиуциа аԥхьагыла Муаммар Каддафи иахҳәаразы ааԥхьара ҟаҵамызт. Триполи акәзар, Каддафи идгылара иазырхаз амитингқәа мҩаԥысит. Аха уи аԥхьа 213-ҩык аинтеллигенциа ахаҭарнакцәа Каддафи иԥхьатәара дҵаны иқәдыргылахьан. Азинхьчаҩцәа иҟарҵоз адыррақәа рыла, Ливиа хымш имҩаԥысуаз акциақәа ирылагӡаны иҭахеит 84-ҩык ауаа. Жәабранмза 28, 2011 шықәса рзы Еиду Америкатәи Аштатқәа ливиатәи аҳәаа азааигәара ар аизгара иалагеит. Ливиа иалагеит атәылауаҩратә еибашьра Каддафи идгылаҩцәеи аҿагылаҩцәеи рыбжьара, ари аконфликт жәларбжьаратәи амчрақәа аланагалеит. Жьҭаарамза 17–19 рзы, Аиасратә милаҭтә хеилак аиҳабыра рырхәҭақәа ақалақь Бени-Валиди Сирти рнапахьы иааргеит. Муаммари Каддафи ихаҭагьы Сирт азааигәара дшьын иқәгылоз рнапала. Жьҭаарамза 23 рзы, Аиасратә милаҭтә хеилак Ливиа Каддафи ирежим аҟынтә ахы иақәиҭтәуп ҳәа рыланаҳәеит. |
Арабтәи ааԥынра Арабтәи ааԥынра аҵыхәтәақәа | Арабтәылақәа раԥхьагылаҩцәа аӡәи-аӡәи еишьҭагыланы рхатәы реформақәа ирылагеит (Кувеит, Иорданиа, Оман, Алжир, Катар), акыр атәылақәа (Мысра, Ливиа, Тунис) рҟны аиҳабыра ахҳәаны ԥхьатәара ишьҭын, Саудтәи Аравиеи Бахреини ақәгыларақәа шьақәыртәан, Шьамтәыла иахьауажәраанӡагьы аоппозициеи амчреи реидысларақәа мҩаԥысуеит, Иемен апрезидент дақәшаҳаҭхеит иара иламкьысреи амчреи реиҭныԥсахлара. Мысреи, Шьамтәылеи, Ливиеи, Иемени рҟны арадикалтә исламистцәа рпозициа аҽарӷәӷәеит. «Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра ашьҭахь адунеи аҟны ас еиԥш зымҽхак ҭбааз аилаҩеиласрақәа аҭыԥ рмоуцызт» ҳәа азгәеиҭоит апрофессор Ши Цзиансиун «арабтәи ааԥынра» дахцәажәо. |
Аӷарра | Аӷарцәа, аӷарра — аӷарра ҳәа азырҳәоит убас еиԥш ауаҩы иҭагылазаашьа, иара аԥсҭазааразы зыда ԥсыхәа ыҟам рыла ихы, иҭаацәа реиқәыршәара анилымшо. Аӷарра цәырҵуеит асоциалтә цәырҵрақәа реизыҟазаашьақәа реилагара иахҟьаны: аусураҟны аиҟарара; аҭагылазаашьаҟны аиҟарара; аизыҟазаашьақәа рҟны аиҟарара; ауаҩы — аилазаара - аԥсабара, ауаҩы — асоциалтә гәыԥ – акласс — аилазаара реиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа рҟны. Абарҭқәа рышьаҭақәа рҟны ауп ахархәаратәи алҵшәаашьҭратәи мчрақәас иҟоу аилазаарақәа реиҟараразы, уи аҵакы аарԥшрас иҟоуп аусуратә аамҭеи ахақәиҭра аамҭеи реизыҟазаашьа. |
ОБСЕ | ОБСЕ ( , ) — Европа Ашәарҭадареи аусеицуреи рзы аиҿкаара. Адунеи аҟны зегь реиҳа идуу регионалтә еиҿкаароуп, иара ашәарҭадара азҵаарақәа анапы алакуп. ОБСЕ еиднакылоит 57 тәыла, Аҩадатәи Америкеи, Европеи, Агәҭатәи Азиеи рҟны иҟоу. Европа Ашәарҭадареи аусеицуреи рзы аиҿкаара (ОБСЕ) еиҿкаан нанҳәамза акы, 1975 шықәса рзы Финлиандиа, Хельсинки ақалақь аҟны, уи 35 ҳәынҭқарра рхадацәа алахәын уи аҽны рнапы аҵарҩит Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Аилатәара Ахыркәшаратә акт. |
ОБСЕ Аҭоурых | «Европа Ашәарҭадареи аусеицуреи рзы аиҿкаара» аԥҵан еснагь аус зуа жәларбжьаратәи афорум европатәи аҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа зегьы злахәу (Албаниеи Андорреи уахь иаламҵакәа), иара убасгьы Еиду Америкатәи Аштатқәеи Канадеи рыбзоурала, уи ахықәкы хада Европа арратә еиҿагыларақәеи ашәарҭадара арӷәӷәареи роуп. |
ОБСЕ Аиҿкаара аԥҵаразы аилатәара х-етапкны имҩаԥысуан | 1. Ԥхынгәымза 3 инаркны 7-нӡа – Хельсинки – Адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реилатәара; 2. Цәыббрамза 18, 1973 шықәса – ԥхынгәымза 21, 1975 шықәса – Женева – Ахыркәшаратә акт атекст аиқәыршаҳаҭра, арҽеирақәеи ажәалагалақәеи рыдгалара; 3. Ԥхынгәымза 30 – нанҳәамза 1, 1975 шықәса Финлиандиа аҳҭнықалақь Хельсинки аҟны 35 ҳәынҭқарра – ашьаҭаркыҩцәа рнапы аҵарҩит Европа Ашәарҭадареи аусеицуреи рзы аиҿкаара Ахыркәшаратә акт (Хельсинктәи аиқәышаҳаҭра). |
ОБСЕ Аиҿкаара аԥҵара аҭоурых | Европа Ашәарҭадареи аусеицуреи рзы аиҿкаара (ОБСЕ) еиҿкаан нанҳәамза акы, 1975 шықәса рзы Финлиандиа, Хельсинки ақалақь аҟны. Уа 35 ҳәынҭқарра рхадацәа рнапы аҵарҩит Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Аилатәара Ахыркәшаратә акт. Аҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа реизара иаку жәларбжьаратәи аполитика арегион аҟны ааԥхьара азыҟаҵара шьақәзыргыло раԥхьаӡа акәны иҳәан, уи аидеиа Бухарест 1966 шықәса рзы, ОВД аблок иалоу европатәи атәылақәа рсоциалисттә лагер ахаҭарнакцәа рыбжьара. Аамҭак анаҩс ари ажәалагала адгылара арҭеит Франциеи егьырҭ мраҭашәаратәи аҳәынҭқаррақәеи. Аха зегь реиҳа ари аус аҟны апозициа ӷәӷәан Финлиандиа. Ари атәыла ауп ажәалагала ҟазҵаз ас еиԥш аиԥыларақәа, иара аҳҭнықалақь Хельсинки амҩаԥгаразы. Заанаҵтәи аконсультациатә етап мҩаԥысуан абҵарамза 1972 шықәса инаркны, ԥхынгәымза 1973 шықәсанӡа. Аицәажәара мҩаԥыргон 33 европатәи ҳәынҭқарра рҟынтә аделегатцәа, иара убасгьы Канадеи Еиду Америкатәи Аштатқәеи рхаҭарнакцәа. Ари аетап аҟны иаку абжьгарақәа анаҩстәи аусеицура алкаара иазкын, ишьақәыргылан арегламенти, аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгаразы амшхәаԥштә азҵаарақәа. Раԥхьатәи аиԥылара мҩаԥысит ԥхынгәымза, 1973 шықәса рзы. Ари арыцхә инаркны Европа Ашәарҭадареи аусеицуреи рзы аиҿкаара (ОБСЕ) аусуразы аҳасабрбақәа рыҟаҵара азгәаҭан. Ари аетап аҟны аилацәажәара иалахәын Албаниеи Аҩадатәи Америка аҳәынҭқаррақәа ҩбеи рнаҩсгьы, европатәи аҳәынҭқаррақәа рыдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа зегьы. Иԥшаан ихадароу азҵаарақәа рзын еицырзеиԥшу адыррақәа, уи аныԥшит «Ахыркәшаратә абжьгарақәа» рҟны. Аҩбатәи аетап аҟны, уи Женева имҩаԥысуан цәыббрамза 1973 шықәса инаркны ԥхынгәымза 1975 шықәсанӡа, аиҿцәажәарақәа мҩаԥызгоз атәылақәа ишьақәдырӷәӷәон иаку аусеицуразы еиҳа ихадоу ахәҭақәа, уи иахьынӡауа ала, алахәцәа зегьы ринтересқәа ирықәшәон, насгьы аимак-аиҿак цәырызгоз азҵаарақәа рыла еиқәышаҳаҭхартә аҭагылазаашьа аԥнаҵон. Ахыркәшаратә акт анапаҵаҩра мҩаԥысуан ԥхынгәымза анҵәамҭеи нанҳәамза алагамҭеи рзы 1975 шықәса рзы Хельсинки. Уи аус рхы аладырхәт аиқәышаҳаҭра зыбжьазҵоз 35 тәыла реиҳабыра анапхгара. Алкаатә еиқәышаҳаҭра аофициалтә хьӡы аман «Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Аилатәара Ахыркәшаратә акт» () ҳәа, иофициалтәымкәа ари аиқәышаҳаҭра «Хельсинсктәи аиқәышаҳаҭра» ҳәа иашьҭан. |
ОБСЕ Хельсинктәи аиқәышаҳаҭра ахәҭа хадақәа | Хельсинктәи аиқәышаҳаҭра ахәҭа хадақәа ахыркәшаратә документқәа рҟны официалла иарбан Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра алҵшәақәа. Ара, иара убасгьы, жәларбжьаратәи азинтә еизыҟазаашьақәа апринцип хадақәа жәаба арбан. Урҭ рыбжьара иалкаатәуп европатәи атәылақәа ишьақәгылоу рҳәаақәа рыхмырбгалаеи, ахаламырхәреи апринцип, аҳәынҭқаррақәа реиҟарара, ауаҩы ихақәиҭрақәа рахьтә ихадоу ашьаҭақәа, амилаҭ ахатәы лахьынҵа аӡбаразы амилаҭқәа рзинқәа. Уи анаҩсангьы, аиқәышаҳаҭрақәа аус рыдулан акультуратә, арра-политикатә, азинтә, агәыҳалалратә хырхарҭақәа рыла реизыҟазаашьақәа. Абри инаркны Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Ахеилак лассы-лассы еиқәшәо иалагеит. Аиԥыларақәа мҩаԥысуан Белград (1977–1978 шш.), Мадрид (1980–1983 шш.), Стокгольм (1984 ш.), иара убасгьы Вена (1986 ш.). Зегь реиҳа иалкаатәу еилацәажәарахеит Париж цәыббрамза 1990 шықәса рзы имҩаԥгаз, уи рхы аладырхәт атәылақәа-алахәылацәа рнапхгара ҳаракы. Ари аилацәажәара аҟны ауп иахьрыдыркылаз еицырдыруа Парижтәи ахартиа, уи иабзоурахеит ихьшәашәаз аибашьра ахыркәшара, анапы аҵаҩын бџьарла аиқәыршәаразы аиқәышаҳаҭра, иара убасгьы адокумент аҟны ибжьаҩын ихадараз, анаҩстәи аконсультациақәа рзы аиҿкааратә зҵаарақәа. 1991 шықәса рзы Москва имҩаԥысыз аилацәажәараҿы ирыдыркылеит ауаҩы изинқәа рзы аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи азакәанқәа хазырҭәаауа ақәҵара. 1992 шықәса рзы Хельсинки имҩаԥысыз аилатәараҿы СБСЕ аусура аформат ԥсахын. Уаанӡа иара аҳәынҭқаррақәа-алахәылацәа рнапхгаҩцәа еиқәшәаны иахьцәажәоз форумызҭгьы, уи ари аамҭа инаркны еснагь аус зуа еиҿкаараны аҟалара иалагеит. Иара убри ашықәс азы Стокгольм имҩаԥгаз аилацәажәараҿы иалагалан даҽа ҭыԥкгьы СБСЕ амаӡаныҟәгаҩ хада. 1993 шықәсазтәи аиԥылараҿы, уи Рим имҩаԥысит, Иааицмырҟаӡакәа есқьынагь аус зуа ахеилак аԥҵаразы аиқәышаҳаҭра рыдыркылеит, уахь атәылақәа-алахәылацәа ахаҭарнакра аарԥшразы рделегатцәа нарышьҭуан. Убри ала СБСЕ еснагь аус зуа еиҿкаарак аҳасаб ала ашьақәгылара иалагеит. Ахьӡи ауси форматк ахь акылгаразы, 1994 шықәса рзы Будапешт аӡбамҭа рыдыркылеит, СБСЕ ахьӡ аԥсахразы, уи Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Аиҿкаара ҳәа иԥсахын (ОБСЕ). Ари ақәҵара амчра аиуит 1995 шықәса рзы. Абарҭқәа рышьҭахь, даара акрызҵазкуаз Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Аиҿкаара (ОБСЕ) аделегатцәа реиԥыларақәа мҩаԥысуан Лиссабон (1996 ш.), Копенгаген (1997 ш.), Осло (1998 ш.), Сҭампыл (1999 ш.), Вена (2000 ш.), Бухарест (2001 ш.), Лиссабон (2002 ш.), Маастрихт (2003 ш.), Софиа (2004 ш.), Лиублин (2005 ш.), Асҭана (2010 ш.). Арҭ афорумқәа рҟны ирылацәажәан арегионалтә шәарҭадара, атерроризм, асепаратизм, ауаҩы изинқәа рзы иҟоу ауадаҩрақәа уҳәа реиԥш иҟоу азҵаарақәа. Иазгәаҭатәуп, 2003 шықәса раахыс Урыстәыла Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Аиҿкаара (ОБСЕ) акыр апозициа ӷәӷәа шааннакылаз, уи апозициа акыр атәылақәа-алахәылацәа реиҳарак рпозициа зынӡа еиԥшымызт. Абри иахҟьаны иаку азҵаарақәа акыр аԥыхын. Аамҭаказы иҟан убас еиԥш ацәажәарақәагьы, Урыстәылатәи Афедерациа Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Аиҿкаара (ОБСЕ) иалҵыр ҟалоит ҳәа. |
ОБСЕ Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Аиҿкаара (ОБСЕ) аҳасабтәқәеи ахықәкқәеи | Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Аиҿкаара (ОБСЕ) ахықәкы хадақәа иреиуоуп Европа иахьаҵанакуа аҭышәынтәалареи аҭынчреи рышьақәыргылара. Ари аҳасабтә анагӡаразы аиҿкаара активла аҳәынҭқаррақәеи, аҳәынҭқаррақәа-алахәылацәеи рыҩныҵҟа аҭыԥ зауа аимак-аиҿакқәа рҭышәныртәалара активла иалахәуп, иара убасгьы хылаԥшра анаҭоит абџьар аларҵәара, адипломатиатә усмҩаԥгатәқәа нанагӡоит апрофилактикатә ҟазшьа змоу, еиуеиԥшым аҭыӡшәақәа раԥырҟәҟәааразы. Аиҿкаара арегион аҟны аекономикатә ҭагылазаашьеи аекологиеи ирышьклаԥшуеит, насгьы Европа атәылақәа рҟны ауаҩы изинқәа рыхьчара хылаԥшра анаҭоит. Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Аиҿкаара (ОБСЕ) аусура азынархоуп атәылақәа-алахәылацәа рҟны алхрақәа рымҩаԥгара амониторинг рзура, уи азын алхрақәа ахьымҩаԥысуа атәылақәа рахь анаԥшыҩцәа дәықәнаҵоит. Аиҿкаара адемократиатә институтқәа рыҿиара иалкаан аус аднаулоит. Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Аиҿкаара (ОБСЕ) иалоу аҳәынҭқаррақәа-алахәылацәа зегьы иаку, зегьы ирзеиԥшу астатус рымоуп, аӡбамҭақәагьы рыдыркылоит аконсенсус шьаҭас иҟаҵаны. Дара рзын ихадарам аиуристтә ҟазшьа аныҟәгара, аха акыр аполитикатә ҵак ду рымоуп. Аиҿкаара аштат иалоуп: аиҿкаара анапхгараҭаратә органқәа рҟны 370-ҩык ауаа, иара убасгьы 3500-ҩык инарзынаԥшуа аусзуҩцәа адәнытәи миссиақәа рҟны аус руеит. |
ОБСЕ Аҳәынҭқаррақәа-алахәылацәа | Атәылақәа-алахәылацәа рахьтә аиҿкаара аҟны еиҳарак аҭыԥқәа змоу Европа атәылақәа роуп. Иааизакны ОБСЕ иалоу атәылақәа-алахәылацәа 57 ыҟоуп. Европа анаҩс ари аиҿкаара иалахәуп ҩ- ҳәынҭқаррак Аҩадатәи Америка аҟнытә (Канадеи Еиду Америкатәи Аштатқәеи), иара убасгьы азиатәи атәылақәа жәпакы (Монголиа, Узбекисҭан, Таџьикисҭан, Туркментәыла уҳәа егь.). Аха алахәыла истатус – ари ак акәӡам аиҿкаараҿы иҟоу. Аусеицуразы партниорцәас иԥхьаӡоуп Афганистан, Тунис, Марокко, Израиль уҳәа акыр аҳәынҭқаррақәа. |
ОБСЕ Анапхгара | Ахантәаҩыс иҟоу (; уи ахантәаҩыс иалырхуа, атәыла- ахантәаҩыс иҟоу Адәныҟатәи аусқәа рминистр иоуп) – напхгара аиҭоит ОБСЕ аусура. Насгьы акоординациа азиуеит аусбарҭақәа русуреи ОБСЕ аинститутқәеи. Аиҿкаара адгылара мҩаԥигоит, хылаԥшра аиҭоит, акризистә ҭагылазаашьа аҟны аконфликтқәа рыӡбара дацхраауеит. 2010 шықәса рзы ОБСЕ ахантәаҩыс дыҟан Ҟазахсҭан ахаҭарнак, 2011 шықәса рзы – Литва Адәныҟатәи аусқәа рминистр Аудрониус Ажубалис. 2012 шықәса рзы ОБСЕ анапхгараҭара Ирландиа ашҟа ииасит, 2013 шықәса рзы ОБСЕ анапхгараҭара Украина ашҟа ииасит. 2014 шықәса рзы ОБСЕ ахантәаҩыс иалхын Швеицариа. Афедеративтә Республика Германиа адәныҟатәи аусқәа рминистр Франк-Вальтер Штаимаиер ОБСЕ дахагылеит 2016 шықәса рзы. 2017 шықәса рзы – Австриа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Себастиан Курц. 2018 шықәса рзы ОБСЕ анапхгараҭара Италиаҟа ииасит. ОБСЕ ахантәаҩыс дҟалеит Италиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Анџьелино Алфано, рашәарамза нахыс уи диԥсахит Енцо Моаверо-Миланези. |
Аетнос | Аетнос ( — ажәлар) – ари обиективла, мамзаргьы субиективла еицырзеиԥшу аҟазшьақәа рыла еибарку ауаа ргәыԥ ауп. Аетнологиа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа ирыҵаркуеит ахылҵшьҭра, абызшәа, акультура, анхарҭа аҵакырадгьыл, ахдырра уҳәа реиԥш иҟоу аилкаарақәа. |
Аетнос Аетнос атеориеи аконцепциеи | Ҭоурыхла раԥхьатәи ауаа рсоциалтә еилазаараны иҟан шьала-дала еизааигәаз аилазаарақәа – аклан, ажәлантә. Урҭ араса излеиԥшымыз – дара аҿиара змаз, хаҿсахьала еиԥшыз абиологиатә ҷыдарақәа змаз ауаа ракәын (ацәеижьы аԥшшәы, ахцәы, ахаҿсахьа, аҟазшьа уҳәа). Есҽнытәи аибабара, аиҿцаара, ақьабзқәа, рдунеихәаԥшышьа, рынцәахаҵарақәа уҳәа ирыбзоураны ауаа рҽеидыркылон. Урҭ рыԥсҭазаараҿы ароль ду нанагӡон, дара зхылҵыз аӡә иакәны ахьырыԥхьаӡоз, насгьы аԥсабара амчрақәа иахьреихырхәоз. Ас еиԥш ахәыцрақәа ауаа реидкылара анаҩсгьы, аижәлантәқәеи акланқәеи арӷәӷәон, аколлективтә хдырра шьақәнаргылон. Ажәлақәеи акланқәеи реилаӡҩара анымҩаԥысуаз, урҭ рышьақәгылара азы фактор хадақәаны иҟалон аҭоурых – географиатә хылҵшьҭратә зеиԥшзаара, аԥсабаратә зеиԥшзаара, ақьабзтә зеиԥшзаара. Акланқәеи ажәлантәқәеи реиҿцаара иабзоураны имшьҭраны ианеидылалак, ишьақәгылон ақьабз ҿыцқәа, азхаҵарақәа, аҟазшьақәа, ицәырҵуан ирзеиԥшу абызшәа. Абарҭқәа рылагьы ишьақәырӷәӷәахон ас еиԥш аилазаарақәа рзы иҷыдаҟазшьоу акультура. Даҽакала иуҳәозар, араса еиԥшымкәа аетнос аҽаԥсахлар алшоит, избанзар аетникатә гәыԥқәа акультура аҿиара иадҳәалоуп, иалкаау аетапқәа символра рзыруеит. Аимшьҭрақәа ракәзар, урҭ иалкаау ҵакырадгьылк иадҳәалоуп, ирыхьчоит, аҩныҵҟатәи аиҿкаара рымоуп. Адгьылқәаарыхреи арахәааӡареи ианалага инаркны ишьақәгылоит иалкаау анхамҩатә еиҿкаарагьы. Арҭқәа зегьы аетникатә зеиԥшзаара арҿиаразы агәызҭаҵарас иҟалон. Аимшьҭрақәа реилалара иҿыцу азеиԥшзаара шьақәнаргылон – ажәларқәа ҳәа ззырҳәо, уи символра азнауан еиҳа зкультура ҳараку аилазаара ацәырҵра. Ари аматериалтә культурахьгьы иаҵанакуеит (амыругақәа, амаҭәа, анхарҭа), адоуҳатә ахьгьы (ақьабзқәа, амифқәа, анормақәа, азхаҵарақәа, жәлар рҟазара), даҽакала иуҳәозар, уи ишьақәнаргылоит афольклортә культура. Аетнологцәа рыбжьара аетноси аетносреи рзы иаку еилкаарак ыҟам, убри инамаданы иалыркаауеит еиҳа иаларҵәоу атеориақәеи аконцепциақәеи: Примордиализм – ари аилыркаара иаанаго ауаҩы иетникатә дҳәалазаара ала аԥсабара, мамзаргьы аилазаара аҟны зхатәы шьаҭа змоу иоуп; Аетнос адуалисттә теориа – ари аконцепциа аетносқәа рыҟазаара ҩ-ҵакыкны иахәаԥшуеит. Ари аконцепциа Ҩ. В. Бромлеи зхадараҿы дыҟаз АН СССР аетнографиа аинститут аусзуҩцәа иаԥырҵаз ауп; Асоциобиологиатә хырхарҭа – ари ахырхарҭа иазгәанаҭо аетносра аҟазаара, уи ауаҩы ибиологиатә хаҭарала ашьақәыргылара ауп. Аетникатә адҳәалазаара примордиалтәуп, уи даҽакала иуҳәозар, ауаа аханатә ирҟазшьан; Аконструктивизм – ари атеориа ала уахәаԥшуазар – иԥсабаратәымкәа иҟалаз шьақәгылароуп, даҽакала иуҳәозар, ауаа хықәкыла русура иарҿиаз акоуп; Аинструментализм – ари аконцепциа ала аетносра – мыругоуп, уи ала ауаа рхықәкқәа ирызнеиуеит. Аинструментализм ахырхарҭаҟны иалыркаауеит – аелитартә инструментализми аекономикатә инструментализми. Изакәызеи аетникатә дҳәалазаара? Аетнос – ари асоциалтә гәыԥк иаҵанакуа рҭагылазаашьа ауп, дара ирымоуп амилаҭтәи акультуратәи традициақәа. Ари аилыркаара концепциоуп; аетникатә гәыԥқәа инарҭбаау, мамзаргьы иркьаҿу аҵакы рыҭаны аилыркаара ауҭар алшоит. Иаҳҳәозар, ари аилыркаара убас еиԥш иҭбаазар ауеит, «Америка иашьагәыҭу» («коренные американцы») реиԥш, мамзаргьы «чероки» ҳәа изышьҭоу реиԥш иркьаҿзаргьы ауеит. Даҽа ҿырԥштәык – индиатәи асубконтинент – индиаа етникатә гәыԥкны иԥхьаӡазар алшоит, аха аус аҟны иҟоуп жәабала акультуратә традициақәеи агәыԥхәҭақәеи – гуџьартиаа, пенџьабаа, бенгалиаа, томилаа уҳәа реиԥш иҟоу, урҭгьы етникатә гәыԥ иашаҵәҟьаны иҟоу роуп. Даҽа ҿырԥштәык: Британиа Ду аҟны ауаа – урҭ зегьы британеццәоуп ҳәа уԥхьаӡаргьы алшоит, аха, даҽакала иуҳәозар, дара англичанеццәоуп, шотландеццәоуп, валииццәоуп. |
Аетнос Арасеи аетникатә дҳәалазаареи реиԥшымзаара | Иаагозар, кавказаа (аевропеоидтә) рраса. Мака Мак Конаилл, ирландиатәи анатомиа апрофессор, кавказаа рфизиологиатә ҟазшьарбага дахцәажәеит абас: «Ишкәакәоу ацәеижьи, илашоу аблақәеи, иҭшәоу аԥынҵеи, ипоу ақьышәқәеи змоу. Урҭ рыхцәқәа иашоуп, мамзаргьы иҳәуеит». Ирҳәоит кавказаа зегьы иреиҵоу адыԥшылахәра рымоуп ҳәа, ахыԥыцқәа зҭоу ахаԥыцшьапҭыԥ баҩқәа рҟны, иаагәоуҭаратәы рхыбаҩ рылахь аҟны иқәацәуп, иара убасгьы адыԥшылахәра рхаҿы агәҭатәи ахәҭаҟны. Ауаҩы, зҭеиҭыԥш абарҭ аҟазшьарбагақәа ирықәшәо, кавказаа дреиуоуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Кавказаа еснагь рцәеижь шкәакәам, аха Еиду Америкатәи Аштатқәа рҟны «ишкәакәоу» ажәа рхы иадырхәеит ауаа шкәакәақәа ралкаара азы. Кавказаа адунеи атәылақәа жәпакы рҟны иуԥылоит. Абасала, Еиду Америкатәи Аштатқәа рҟни Франциеи кавказаа еиуеиԥшым арасатә ҷыдарақәа рымазар шауа еиԥш, уаҟа инхауа ауаа ирымоуп еиуеиԥшым аетникатә хылҵшьҭрагьы – аӡәы дамериканецуп, егьи – дыфранцызуп. Аамҭа дук иалагӡаны дара еиуеиԥшым абызшәақәа рыла ицәажәалоит, еиуеиԥшым атрадициақәа ныҟәыргалоит, еиуеиԥшым анцәахаҵарақәа рымазаргьы ауеит, уи анырра ӷәӷәа анаҭоит аҭыԥантәи акультура. Аха иазгәаҭатәуп, «арасеи» «аетникатә дҳәалазаареи» аилкаарақәа асубиективтә ҟазшьа рымазаргьы шауа, арҭ аилкаарақәа рыбжьара иҟам иалкаау ҳәаак. Атерминқәа арасатәи аетникатәи дҳәалазаара ашықәсқәа цацыԥхьаӡа рҵакы аҽеиҭанакуан, насгьы арасатәи аетникатәи термин ауаҩы ихаҭара ииашамкәа ианахцәажәогьы ҟалалоит, избанзар уи еиуеиԥшым арасақәеи аетникатәи гәыԥқәа дахьрыҵаркуа азы. |
Аетнос Аетноси абызшәеи | Абызшәа – ауаа злеицәажәо, излахәыцуа, ргәаанагарақәа злеибырҳәо мыругоуп. Иара ишиашоу иамоу ахәыцра – акоммуникативтә функциақәа рнаҩсгьы, акрызҵазкуа аетносоциалтә функциақәагьы нанагӡоит. Абызшәа акзаара – ари ҭагылазаашьоуп аетникатә акзаара ашьақәгыларазы. Ас еиԥш аизааигәара абызшәа аетнос азы ихадароу обиективтә ҷыдарахоит, иара убасгьы аетникатә дҳәалазаара иасимволхоит. Убри аан абызшәеи аетноси рҭоурыхтә еимадара даара изаау аамҭа иаҵанакуеит, машәырнгьы иҟамлаӡеит аетнос ахатәыхьӡи (аетноним) иашьашәалоу абызшәақәеи ахьеиқәшәо. Уи инақәыршәаны, абызшәа асоциалтә функциақәа ртәы анаҳҳәо, абызшәа афункциақәагьы аетникатә ҷыдарақәа рыла иалкаатәуп, даҽакала иуҳәозар, абызшәа аетноеидыҵратәи аетноинтеграциатәи аҟазшьа ҷыдарақәа амоуп. Абызшәа аетносоциалтә функциақәа даара ибзианы иубоит амилаҭ аҿиареи аԥсҭазаареи рҷыдарақәеи рҟны. Абызшәа аҟноуп иахьаныԥшуа ажәлар рдырратә, реилкааратә ԥышәа, иара аморал-етикатә, асоциал-естетикатә, асахьаркыра-ааӡаратә идеалқәа. Жәаҳәарада, абызшәа иара ахала, даҽа факторк иахьыԥшымкәа изыҟалом, иара ауаа рыбжьара (аполитикатәи, аекономикатәи, аҵакырадгьылтәи, аԥсихологиатәи еимадара) амилаҭтә еимадара аԥнаҵоит. Алингвисттә аспект атәы уҳәозар, амилаҭ аҿиара хнаркәшоит, амилаҭбжьаратә аларҵәара зауз, аҭыԥантәи адиалектқәа ихадоу аԥсҭазаара аҟынтәи алцара зылшаз, алитературатә бызшәа анаԥҵаха аамҭазы. Абызшәеи аетноси реимадареи реихьыԥшызаареи убоит, аетнос аҭагылазаашьа ҿыц аҟны иахәҭоу абызшәатә форма аҭахханы ианыҟало аамҭазы. Ажәларра иалкаау аҭоурыхтә етникатә дҳәалазаараны изыҟалом, изышьақәгылом, аимшьҭратә бызшәа, мамзаргьы адиалекттә форма ахархәара иаҟәымҵзар. Убри аан, ажәларра ирышьашәалаз абызшәатә форма амилаҭ ианкарыжьуа, амилаҭ азы зда ԥсыхәа амам акәны иҟоуп абызшәа аҩыратә форма, даҽакала иуҳәозар, алитературатә бызшәа. Ишдыру еиԥш, иарбанызаалак ажәлар досу дара рхатәы бызшәала ицәажәоит (абызшәа аҩныҵҟа адиалекттә еиԥшымзаара убри аҟара идузар ауеит, еиуеиԥшым ажәлар ргәыԥқәа, зегьы ирымоу еицырзеиԥшу алитературатә бызшәа ала ацәажәара рзалыршомызт). Убри аан, даара аларҵәара аиуеит аҩбызшәара (билингвизм), уи ажәлар ахәҭак, мамзаргьы ажәлар зегьы есҽнытәи рыԥсҭазаара аҟны аҩбызшәакгьы ахархәара анарҭо ауп. Аҩбызшәара – ари амилаҭрацәа ахьынхо аҳәынҭқаррақәа рҟны даара аларҵәара амоуп, уи амилаҭ маҷқәа, дара рхатәы базшәа анаҩс, иахьынхо амилаҭрацәа рхаҭарнакцәа рбызшәа рхы ианадырхәо, ианалацәажәо ыҟоуп. Имаҷым аҭагылазаашьақәа, ажәларқәак бызшәак ала ианцәажәо. Убас англыз бызшәала, мамзаргьы уи аҭыԥантәи авариантқәа рыла ицәажәоит англичанеццәа, англо-австриеццәа, англо-зеландиаҿыцаа, англо-канадеццәа, англо-африканеццәа, Еиду Америкатәи Аштатқәа рҟны инхо американеццәа, иара убасгьы Карибтәи абассеин атәылақәа рҟны инхо ажәларқәеи егьырҭ аетносқәеи ари абызшәала ицәажәоит. Абызшәа ацәажәаратә (разговорный) формеи аҩыратә формеи (алитературатә) рыла иалыркаауеит. Аҩыратәи алитературатәи абызшәақәа змоу амилаҭқәа роуп. Ацәажәаратә бызшәа аетносқәа роуп иныҟәызго, урҭ адиалектқәа рыла ишоит (наречия). Абызшәақәа акыр рыҩныҵҟа, убри аҟара адиалекттә еиԥшымзаарақәа ыҟоуп, етноск иатәу рыбжьара аилибамкаара аҟынӡа ианнанаго (иаҳҳәозар: ҵаҟанемецтәи хыхьтәинемецтәи адиалектқәа, акитаи бызшәа адиалектқәа уҳәа егь.). Уи инадҳәаланы, еиуеиԥшым абызшәақәеи адиалектқәеи бызшәак иатәны азгәаҭара – ари инықәырԥшшәа иҟаҵоу еилкаароуп. Убри аҟынтә алингвистцәа рзы иуадаҩуп абызшәеи адиалекти рыбжьара аиԥшымзаара ашьақәыргылара. Аетнологцәа урҭ реиҟәыҭхагас ирыԥхьаӡоит зхатәыхьӡи зхатәыхдырреи шьақәгылаз аетносқәа рыҟазаара афакт ала. Аха, ас еиԥш азнеишьа, еснагь еиԥш иалнаршом лкаак аҟаҵара, избанзар абызшәеи аетноси рыбжьара аизыҟазаашьақәа аныуадаҩугьы ҟалалоит, убри аҟынтә урҭ реиқәшәарагьы хымԥадатәиим. Убри азоуп ҳаамҭазы адунеи аҟны иҟоу абызшәақәеи ажәларқәа рхыԥхьаӡареи зеиқәымшәогьы. |
Аетнос Аетноси акультуреи | Аетнос акультура инарҭбаау аилыркаараҿы – ари аетнос еидызкыло ҷыдаҟазшьоуп, ԥсҭазаароуп. Иара ада ԥсыхәа ыҟам аетнос аҿиареи аиқәырхареи рзы. Иааизакны иуҳәозар, аетностә культура – ари аетнос аматериалтәи адоуҳатә культуреи еидызкыло, ихадароу етнодифференциатә ҷыдароуп. Аетникатә культура – ауаатәыҩса реиԥшҵәҟьа ижәытәӡатәиуп. Акультура змам ажәларқәа ыҟаӡам иахьатәи аамҭазгьы, иҟамызт ахааназгьы. Иарбан жәларызаалак ркультура шьақәгылоуп иара ажәлар рзы мацара иалкаау аҷыдарақәа рыла, аха убри аан урҭ аҷыдарақәа егьырҭ аетносқәа рыбжьарагьы иҟоуп, уи ҳаамҭазтәи аҭоурыхтә аамҭазы ауаатәыҩса зегьы ирҷыдаразаргьы ауеит. Аетникатә культура ршоит аматериалтәи адоуҳатәи ҳәа. Аматериалтә иаҵанакуеит идыру аамҭахәҭак азы иҟаз - аџьа амыругақәа, амцаагага амаҭәарқәа, абџьар, анеиааига маҭәарқәа, аидарамҩангагақәа, анхарҭа уҳәа реиԥш иҟаз иаҵанакуаз аргыларақәа, афатә, ажәтә, ачысмаҭәа, абзазаратә маҭәарқәа, амаҭәа, аимаа, ахылԥахкқәа, аҽырԥшӡага маҭәарқәа уҳәа ирацәаны. Адоуҳатә культура акәзар, ари информациоуп, иара ыҟоуп аколлективтә, мамзаргьы зыԥсы ҭоу иарбан уаҩратә популиациазалаакгьы ахшыҩ рхы иархәаны, ажәлар еимырдоит ажәабжьҳәарала, мамзаргьы арбарала, еиуеиԥшым ахымҩаԥгашьатә формақәа рыла. Адоуҳатә культурахь иаҵанакуеит убас еиԥш акомпонентқәа, атрадициара, аҭышәынтәалара уҳәа реиԥш иҟоу аҟазшьарбагақәа змоу: аџьатә ԥышәа, аҵасқәа, ақьабзқәа, алеишәа, анхамҩа иадҳәалоу, ауаажәларратәи аҭаацәаратәи ԥсҭазаара, еиуеиԥшым аҟазара хкқәа, жәлар рнапҟазара, адинхаҵареи акульти. Убриаан, аетникатә ҷыдарақәа ныҟәызго ракәны иҟалоит (еиҳаракгьы ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьа аҟны) апрофессионалтә доуҳатә культура, зегь раԥхьа иргыланы, асахьаркыратә. Етносцыԥхьаӡа акультура иадҳәалоуп иара абзазарагьы. Абзазара иаҵанакуеит ауаа ҷыдала есҽнытәи рхымҩаԥгашьа, иара убасгьы ауаа рыбжьара ишьақәгыло аизыҟазаашьақәа, рматериалтәи рдоуҳатәи ҭахрақәа рынагӡаразы амаҭәарқәа рыхрархәашьа. Ажәларқәа бызшәак ала ицәажәо, ҵакырадгьылк аҟны инхо, нхамҩала еидҳәалоу ршара акритери хадақәа иреиуоуп иҷыдоу ркультуратә хаҿра. Иҟалоит убас еиԥш ажәларқәа, ҵакырадгьылк аҟны инхо, иаку аекономикатә база змоу, бызшәак ала ицәажәо, аха иҟалом ҩ-жәларык, еиԥшу культурак змоу. Ажәлар рхатәы культуратә ҷыдара анырцәыӡ, уи хаз игоу, зхала иҟоу етносны изыҟалом. |
Аетнос Аетноси амилаҭи | Амилаҭ – адоуҳатә, акультура-политикатә, асоциал-економикатә акзаароуп аиндустриалтә аамҭазы. Амилаҭ ари аетнос иреиҳау аформа ауп, ажәларра ахаҭыԥан ицәырҵыз. Аетносқәа рыҟазаара адунеи аҭоурых аҟны еснагь иазгәарҭозҭгьы, амилаҭ ашьақәгылара аамҭаны иԥхьаӡоуп Иҿыцу, мамзаргьы Иҿыцӡоу аамҭа. Амилаҭ иаҵанкуеит акымкәа-ҩбамкәа аетносқәа, ҭоурыхтә лахьынҵала еидҳәалахаз, еизааигәахаз. Аетнос – ари ауаа ргәыԥ ауп, аобиективтәи асубиективтәи ҷыдарақәа змоу. Аетнос – аҵакдура иҭышәынтәалоу гәыԥк аҵанакра ауп, амилаҭ акәзар, хықәкыс иамоуп иҿыцу, еиҳау аҿиара ашьҭазаара. Аӡәырҩы аҭҵааҩцәа ргәаанагарала, аилкаарақәа «амилаҭи» «аетноси» еиԥшым. Аетнос азы аҭышәынтәалареи акультуратә ҿырԥштәқәеи реиҭаҟалара аҟазшьазар, амилаҭ рзы даара акраҵанакуеит иҿыцу итрадициатәу аелементқәа реилалара апроцесс ахдырраҿы аагара. Абри алагьы еилкаауп аетнос азы иҭышәынтәалоу агәыԥ аҵанакра еиҳа ишхадароу, амилаҭ рзы аҿиара анхадароу аамҭазы. |
Аетнос Алитература | Садохин А.П., Грушевицкая Т.Г. Этнология: Учебник для студ. высш. учеб. заведений. - 2-е изд., перераб. и доп. — М.: Издательский центр "Академия", 2003. Лурье С.В. Историческая этнология — М.: Аспект Пресс, 1997. Бромлей Ю.В. Очерки теории этноса. 3-е изд., исправленное — М.: Книжный дом "Либроком", 2009. |
Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара | Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара () – Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иатәу ҷыдалатәи усбарҭоуп, иара шьақәгылоуп 194 ҳәынҭқарра-лахәылацәа рыла, урҭ рнапы иануп адунеи ауаапсыра ргәабзиарахьчара жәларбжьаратәи апроблемақәа рыӡбара. 1945 шықәсазы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара апҵаразы имҩапгаз аипылараҿы, егьырҭ инарываргыланы иалацәажәан, убасгьы, зымҽхак ҭбаау агәабзиарахьчара аиҿкаара апҵара. 1948 шықәса апрель 7 рзы, агәабзиаразы азин, ауаҩы изин иузаҟәымҭхо акы акәны ишыҟоу ҳасаб азуны, насгьы ауаа зегьы ргәабзиара аҩаӡара ашьҭыхра хымпадатәуп ҳәа ипхьаӡаны, иапҵан агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара. Убриаахыс аиҿкаара напхгагас иамоуп адунеи зегьы аҟны ауаапсыра ргәабзиара ахылапшра арҭбаара. Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара – ари, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҳәаақәа ирҭагӡаны агәабзиарахьчара аусхк аҿы жәларбжьаратәи аусура ҳәаақәызҵо усбарҭоуп. |
Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара апкаанҵа | Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара апкаанҵа амчра аиуит 1948 шықәса апрель 7 рзы – убринахыс есышықәса ари амш - агәабзиара адунеизегьтәи амш акәны иазгәарҭоит. Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара ирықәныҟәоит апкаанҵаҿы иарбоу апунктқәа: Агәабзиара – ари ауаҩы ачымазареи агреи имамзаара мацара акәӡам, уи идоуҳатә, исоциалтә ҭагылазаашьагьы ауп. Агәабзиара ӷәӷәа амазаара ауаҩы изин хадақәа ируакуп, иарбан расоу, дину, политикатә зхаҵароу, социалтә ҭагылазаашьоу имоу иахьмырпшыкәа. Ажәларқәа зегьы ргәабзиара фактор хаданы иҟоуп аҭынчреи ашәарҭадареи рынагӡараан, уи ахьыпшуп хазы игоу ауааи аҳәынҭқаррақәеи русеицура. Иарбан ҳәынҭқарразаалак аҟны агәабзиара ахьчареи аиӷьтәреи русхк аҿы аихьӡарақәа зегьы рзы хәы змоу акоуп. Еиуеипшым аҳәынҭқаррақәа рҿы агәабзиарахьчара еиҟарамкәа аҿиареи, ачымазара ҿкы иаҿагыланы ақәпареи зегьы еицырзеипшу шәарҭоуп. Ахәыҷы игәы бзианы иааӡара зегь рапхьа игылоуп, уҳәа убас егьырҭ ахәҭаҷқәагьы. |
Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара Адоктор Тедрос Адханом Гебреиесус | Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара адиректор хадас адоктор Тедрос Адханом Гебреиесус дыҟоуп 2017 шықәса раахыс. Адоктор Тедрос имаҵура данахагыла инаркны, аиҿкааразы иаликааит хра злоу ахырхарҭақәа хәба: агәабзиарахьчара амаҵзура азеипш мҽхакы; агәабзиарахьчара аусхк аҿы аҭагылазаашьа ҷыдақәа; аҳәсеи, ахәыҷқәеи, ақәыпшцәеи ргәабзиара; аҳауеи иааҳакәыршаны иҟоу апсабареи рҽеиҭакрақәа ауаҩы игәабзиара ишаныпшуа; агәабзиара адунеизегьтәи аиҿкаара апсахрақәа ралагалара. «Сара сшазхәыцуа ала, адунеи иарбан тәылазаалак аҟны, дарбанзаалакгьы ауаҩы игәы бзианы аҟазааразы аҭагылазаашьа имазароуп. Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара амчқәа зегьы аднаҵароуп ҳаамҭазы еиҳа хадара злоу азҵаарақәа рыӡбара, аиҿкаара ахадацәа ари апроцесс напхгара азыруроуп, агәабзиарахьчара аусхк аҿы, адипломатиа, аполитикаҿы ирымоу апышәа рхы иархәаны, агәабзиарахьчара апроблемақәа рыӡбара иҿыцу азнеишьа арҭароуп. Ҩажәиактәи ашәышықәса аҭагылазаашьа ҳасаб азуны, ҳара иҳарҿыцроуп зегьы ирзеипшу, агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара», – абас иҳәоит Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара адиректор хада, адоктор Тедрос Адханом Гебреиесус. |
Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи ассамблеиа | Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи ассамблеиа – аӡбамҭақәа здызкыло, агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара иреиҳау аусбарҭа акәны иҟоуп. Аиҿкаара иалоу 193 ҳәынҭқарра рҟынтәи аделегациақәа злахәу есышықәсатәи асессиақәа мҩапысуеит Женева, маи мзазы. Анагӡаратә комитет шьақәгылоуп агәабзиарахьчара аусхк аҿы атехникатә квалификациа змоу ҩажәи жәипшьҩык алахәылацәа рыла. Акомитет алахәылацәа алырхуеит хышықәса ҿҳәарас ирыҭаны. Агәабзиарахьчара ассамблеиа афункциа хадақәа ируакуп аиҿкаара аусураҿ азеипш политикатә хырхарҭақәа ралкаара. Агәабзиарахьчара ассамблеиа далнахуеит адиректор хада, аиҿкаара афинанстә политика иахылапшуеит, иара убас ишьақәнарӷәӷәоит апрограмматә биуџьет проект. |
Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара аусура | Егьырҭ атәылақәа рҟны аусеицура иабзоураны Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара иалшеит агәабзиара арӷәӷәара аусхк ахырхарҭақәа жәпакы рҿы пхьаҟацара. Еиуеипшым атәылақәа рҿы аус зуа 149 биуро, арегионалтә биуроқәа 6, Женеватәи аштаб-квартиреи рҟны аус руеит 149 тәыла рҟынтә 7000-ҩык инареиҳаны ауаа. Аҳақьымцәеи, азеипш гәабзиарахьчара аспециалистцәеи, анаукатә усзуҩцәеи, аепидемиологцәеи рыдагьы, агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаараҿы аус руеит административтә, афинанстә, аинформациатә системақәа рнапхгараҭара аусхк аҿы азыҟаҵара иахысыз ауаа, иара убас агәабзиарахьчара астатистика, аекономика, аҭагылазаашьа ҷыдақәа раан ацхыраара аусхк аҿы аекспертцәа. Бызшәарацәала иапҵоу асаитқәеи, иара убас агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара акьыпхьымҭақәеи аресурсқәеи ирыбзоураны амедико-санитартә информациа роуртә алшара рымоуп изҭаху зегьы, дара рбызшәала. Уи, амедико-санитартә информациа еиҳа ииашаны, хаҳарала аиура иацхраауеит. Бызшәарацәала аинформациа рызнагара цхыраагӡа дууп адыррақәа рхарҭәаареи, ауаа рыбжьара аилибакаара аиӷьтәреи рҟны. Уи иабзоураны агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара иалшоит азеипш гәабзиарахьчара аусхк аҿы апрактикатә методика еиҳа хаҭабзиарала ахархәара, жәларбжьаратәи аудиториа арҭбаара, адунеи зегь аҟны агәабзиара аганахьала алҵшәа бзиақәа раарпшра. Абасала, бызшәарацәала аинформациатә усеицура, агәабзиарахьчара мҽхакы ҭбаала аиӷьтәраҟны инструмент хаданы иҟоуп. |
Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара анапы злаку аусхк Агәабзиарахьчара асистемақәа | Агәабзиарахьчара асистема ацхыраара ҟанаҵоит еиуеипшым атәылақәа рҿы агәабзиарахьчара аиӷьтәразы, агәабзиарахьчара апрограммақәа рхаҭабзиара ашьҭыхраҿы, уи иалкаау ароль нанагӡоит. Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара хылаԥшра анаҭоит арегионалтә, аглобалтә ҭагылазаашьақәа, агәабзиарахьчара аусхк аҿы атенденциақәа, ачымазарақәеи агәабзиара аҭагылазаашьеи рзы аинформациатә системақәа џьарак еиднакылоит. Иҿыцу арбагақәеи амедико-санитартә информациеи хадара злоу акоуп азеипш гәабзиарахьчара аусхк аҿы, иахәҭоу аресурсқәа рзоужьреи, ахылапшреи, ахәшьара аҭареи рзы аӡбамҭа адкылараҟны. Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара аус рыцнауеит атәылақәа, зхаҭабзиара ҳараку аинформациатә ресурсқәа рхархәара, рапҵара, реимдара амеханизмқәа рырӷәӷәаразы. |
Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара Иҿкым ачымазарақәа | Иҿкым ачымазарақәа – агәыхь, аинсульт, акьыба чымазарақәа, ашьақар чымазареи арыпҳа чымазареи, аԥсихика аилагара, иара убас ақәымчреи атравмақәеи ирыхҟьаны адунеи аҿы зыпсҭазаара иалҵуа рхыпхьаӡара 70% иреиҳауп. Жәаба рахьтә аа-хҭыск ҟалоит злагала лаҟәу, мамзаргьы ибжьаратәу атәылақәа рҿы. Арҭ ачымазарақәа рыхҟьапҟьақәа агәабзиарахьчара аҳәаақәа ирҭыҵуеит, ицәырҵуа апроблемақәа рыӡбаразы иаҭахуп ачымазарақәа рыхәышәтәреи рыпрофилактикеи рсистема ирыднагало аасҭа еиҳау даҽакы. |
Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара Апсҭазаара аҵыхәтәанынӡа агәабзиара арӷәӷәара | Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара аусура зегьы адҳәалоуп апсҭазаара аҵыхәтәанынӡа агәабзиара арӷәӷәаразы ацхраара аҟаҵара, ҳасаб рызнауеит аекологиатә факторқәа, агендертә аспектқәа, аиаша адгылара, ауаҩы изинқәа рықәныҟәара разхьарпшра. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы урҭ русура хықәкыс иамоуп атәылақәа рыбжьареи, хазы игоу тәылақәак рҟны ананамгацәеи амалуааи рыбжьареи аиҟарамра армаҷра. |
Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара Ачымазара ҿкқәа | Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара аус рыцнауеит атәылақәа, ВИЧ, арыпҳа чымазара, ашыӡ, ирхашҭхьоу атропикатә чымазарақәа рцәырҵраан ахәышәтәреи амедицинатә цхырааралеи реиқәыршәаразы, иара убас вакцинала аанкылара зылшо ачымазарақәа реиҵатәразы. Арҭ ачымазара ҿкқәа рыхәышәтәраҿы иаагәоуҭаратәы апрогресс ыҟоуп, аха ари ахырхарҭаҿы макьана иҟаҵатәу рацәоуп. |
Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара Аепидемиатә хылапшреи аҭактә уснагӡатәқәеи | Аҭагылазаашьа ҷыдақәа раан агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара ароль ахь иаҵанакуеит атәылақәа ацхыраара рыҭара хықәкыс измоу агәабзиарахьчара анапхгара аҳәаақәҵара, апыжәара зҭатәу алкаара, астратегиа аус адулара, аҭаҵәахқәеи афинанстә ресурсқәеи рыла реиқәыршәара, иара убас агәабзиарахьчара аусхк аҿы аҭагылазаашьа ахылапшра. Убри инаҷыданы, агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара атәылақәа ацхыраара рнаҭоит рмилаҭтә потенциал арӷәӷәараҟны, аҭагылазаашьа ҷыдақәа раан анырра аҟаҵаразы, урҭ рышьҭахь аиҭашьақәыргылараҟны. |
Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара Акорпоративтә маҵзурақәа | Акорпоративтә маҵзурақәа рахь иаҵанакуеит ацхыраагӡатә функциақәа, аинструментқәа, аресурсқәа, урҭ рыбзоурала аусурақәа зегьы рынагӡара алыршахоит. Иаагозар, акатегориа «акорпоративтә маҵзурақәа» еиднакылоит анапхгаратә усбарҭақәа, аполитика аус адуларазы аҳәынҭқарра-алахәылацәа реипыларақәа еиҿызкаауа; жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа аус рыдулараан аиуристтә ҟәша ирыднагало аконсультациақәа; агәабзиарахьчара иадҳәалоу аинформациа аларҵәаразы ауаажәларра реимадаразы аусзуҩцәа рҟынтәи ацхыраара; ауаажәларратә гәабзиарахьчара аусхк аҿы адунеи аҿы иреиӷьу аекспертцәа адзыпхьало аперсонал аус рыдуларазы аҟәша аусура, иара убас иарӷәӷәоит агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара аофисқәа 150 инареиҳаны рҿы аус зуа 7-нызқьҩык аусзуҩцәа ауадақәеи ахархәагақәеи рыла еиқәзыршәо амаҵзурақәа. Иазгәаҭатәуп агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара абзоурала ишҭыжьу ашәҟәы, аиҿкаара аҭоурых зегьы зныпшуа, аплакатқәеи асахьақәеи рыла еиқәыршәоу. Асахьақәа иаадырпшуеит жәашықәсала агәабзиарахьчара аганахьала ахырхарҭақәа рыҽшырыпсахуаз, арекламатә тенденциақәа, аҳәынҭқарратә нормативтә актқәа, апхьаҩцәа ирыднагалоит рыхшыҩ азырышьҭырц ауаажәларратә гәабзиарахьчара шыҿиоз, насгьы урҭ реиӷьтәра шалшо. Ашәҟәы иагәылоуп адунеи еиуеипшым атәылақәа рҟынтәи ауаажәларратә гәабзиарахьчара аусхк аҿы аплакатқәа реизга ду, англыз, арабтә, аиспан, акитаи, аурыс, афранцыз бызшәақәа рыла. Ашәҟәы рызкуп агәабзиарахьчара аспециалистцәа, аполитикатә усзуҩцәа, апрограммақәа рнапхгаҩцәа, амедицинатә институтқәа рыстудентцәа, уи рхы иадырхәар рылшоит аграфикеи, асоциалтә усуреи, мамзаргьы агәабзиарахьчара иадҳәалоу азҵаарақәа ирызҿлымҳау. Аа-хык иргәылоуп агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара арегионқәа зегьы рҟынтәи аплакатқәа реизга. |
Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара Ачымазара ҿкы COVID-19 | Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара асаит аҟәшақәа руак аҿы иупылоит аинформациеи ҳаамҭазтәи акоронавирустә ҿкы COVID-19 иадҳәаланы аиҿкаара иҟанаҵо абжьгарақәеи, ари ачымазара рапхьаӡа акәны ашәҟәы иҭагалан Китаи, Ухань ақалақь аҿы 2019 шықәса, декабр 31 рзы. Ари адаҟьаҿы есыҽны ианырҵоит ачымазара ацәырҵра иазку актуалра злоу аинформациа. Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара аус рыцнауеит жәларбжьаратәи аекспертцәа, аиҳабырақәа, апартниорцәа, ҿыц ицәырҵыз ачымазара ҿкы иазкны анаукатә рбагақәа иаарласны риуразы, уи аларҵәара ахылапшразы, атәылақәеи, урҭ руаапсыреи ргәабзиара ахьчаразы абжьгарақәа рыҟаҵаразы, ачымазара аламырҵәараз ргәырҽанырҵарц. |
Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара - Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара абжьгарақәа | Шәацклапшла COVID-19 иазкны аиҿкаара авеб-саит аҿы ишәоурц зылшо иҿыцӡоу аинформациа. Еиҳарак ачымазара имарианы имҩасуеит, аха иҟоуп аҽанарцәгьогьы. Акоронавирустә чымазара аҽацәыхьчаразы, уааигәасигәа иҟоу ргәабзиара ахьчаразы абасеипш апҟарақәа ирықәныҟәалатәуп: Лассы-лассы шәнапқәа шәыӡәӡәала, мамзаргьы аспирт злоу ахархәагақәа рыла ишәрыцқьала. Избанзар, унапы авирус ақәтәазар, сапынла иуӡәӡәар, мамзаргьы аспирт злоу ахархәагақәа рыла иурыцқьар, урҭ ашьуеит. |
Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара – Ауаарацәа ахьыҟоу аҭыпқәа рҿы шәеизааигәаны шәымгылалан | Ауаарацәа ахьыҟоу аҭыпқәа рҿы метрак шәыбжьаны шәгылазароуп, еиҳаракгьы урҭ еимҳәозар, рпынҵа еихачызар, ашоура рымазар. Избанзар, акоронавирус чымазара змоу ауаҩы данеимҳәо, ма данеимсо икәшамыкәша авирус злоу ацәыкәбарқәа ипсаҟьоит. Уи иааигәара шәгылазар шәыпсып анылажәгаҩажәго ачымазара ҿкы шәара шәахь ииасыр ауеит. |
Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара – Излауала, напыла шәырхьымкьыслан шәылақәа, шәпынҵа, шәҿы | Избанзар, ауаҩы инапала дрыхькьысыр алшоит авирус зықәтәоу амаҭәарқәа. Шәнапы аинфекциа шамоу шәылақәа, шәпынҵа, шәҿы шәрыхькьысыр, шәцәеижь аҟынтәи авирус шәыҩныҵҟа ицар ҟалоит. |
Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара – Ареспиратортә гигиена апҟарақәа ирықәныҟәалатәуп | Шәанеимҳәо, шәанеимсо шәҿы асалфетка адкылаз, ма шәмашьхәылҵ, уи ашьҭахь иаразнак асалфетка ахҩа змоу агәамсам зҭарыпсо аконтеинер иҭашәыршә, шәнапы аспирт злоу ахархәагақәа рыла ишәрыцқьа, ма сапынла ишәыӡәӡәа. Избанзар, шәанеимҳәо, шәанеимсо шәпынҵеи шәҿи ашәыркыр авирус алаҵәара ааннакылар ҟалоит. Шәанеимҳәо, шәанеимсо шәнапы шәпынҵа, шәҿы иадышәкылар амикробқәа шәнапаҿы иаанхар алшоит, анаҩс амаҭәарқәа, мамзаргьы ауаа шәрылакьысыр урҭ рахь ииасуеит. – Шәшоура халар, шәеимҳәозар, шәыпсып лагаҩагара шәцәыцәгьазар, иаразнак амедицинатә цхыраарахь шәадҵаал. Шәара акоронавирус чымазара ахьалаҵәоу атәылақәа рҟынтәи шәаазар, мамзаргьы уантәи иааз, авирус чымазара змоу ауаа шәрыдтәалазар, уи азы амедицинатә усзуҩы адырра иҭатәуп. Ашоура ахалара, аимҳәа, апсып лагаҩагара аныцәгьоу, иаразнак аҳақьымцәа ирыдҵаалатәуп, избанзар уи ачымазара ҿкы ицәырнагазар ауеит. Ари аҩыза аҭагылазаашьа амзызқәа рацәаны иамазар ауеит, урҭ рыбжьара иҟазар алшоит 2019-nCoV. Шәацклапшла иҿыцу аинформациа, шәрықәныҟәала амедицинатә специалистцәа рабжьгарақәа. |
Де Голль, Шарль | Шарль Андре Жозеф Мари де Голль () – афранцыз генерал, аполитик, Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьранӡа еицырдыруаз атанктә еибашьра атактик иаҳасаб ала Аҩбатәи адунеизгьтәи аибашьра аан зых иақәиҭыз франциатәи амчрақәа раԥхьагыла, 1944–1946-тәи ашықәсқәа рзы аамҭалатәи аиҳабыра рхада. Аконституциа ҿыц агәазырхаҵаҩы, насгьы 1958 шықәса инаркны 1969 шықәсанӡа Ахәбатәи ареспублика актәи ахада. |
Subsets and Splits